Шьынқәба, Баграт Уасил-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
10 ҧсарк ицо араӡынтәы монета «Баграт Шьынқәба»

Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба (лаҵара 12, 1917, Ҷлоу ақыҭа — жәабран 25, 2004, Аҟәа) — Аҧсны жәлар апоет, ашәҟуҩҩы, аполитик, Д. Гәлиеи Шьоҭа Русҭавели рыхьӡ зхәы аҳәынҭқарратә премиақәа рлауриат. Иара зыхьӡ-зыҧша хара ианаӡахьоу поетуп. Иҩымҭақәа зегьы иаарылукааша рҿиамҭоуп иҭоурыхтә роман “Ацынҵәарах”. Ари ароман ианыҧшуеит аҧсуа жәлар рҭоурых аҿы зегьы раасҭа игәыҭшьаагоу ахҭыс - амҳаџьырра ашықәсқәа.

Абиографиа

Диит 1917 шықәса лацара 12 рзы Ҷлоу ақыҭа Очамчира араион аҿы. 1926 шықәсазы дҭалоит Ҷлоутәи алагарҭатә школ, далгоит 1928 шықәсазы. 1930 дласуеит Џьгардатәи быжь шықәсатәи ашкол ахь. Абраҟа ҵарашықәск анынаигӡа, дцоит Аҟәаҟа, дҭалоит Аҟәатәи педагогтә техникум. Далгоит 1935 шықәсазы.

Иара убасҟан 1935 рзы, даанахуоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт абызшәеи литературеи рыҟәша. Абраҟа иҵара анихыркуша, 1939 шықәсазы, Баграт Шьынқәба дҵоит Қарҭҟа, дрыдылкылоит Қырҭтәылатәи анаукақәа Ракадемиа иатәу Абызшәаҭҵаара аинститут аспирантураҿ. 1941 шықәсазы, аибашьра ианалага, аамҭала Аҧсныҟа дхынҳәеит , зны аус иуеит рҵаҩыс, нас агазет "Аҧсны Ҟапшь" аредакциаҿ Аҧсуа институтаҿы, Ашәҟуҩҩцәа Реидгылаҿы. 1943 шықәсазы ҩаҧхьа Қарҭҟа дхынҳәуеит, дызҭаз аспирантураҿ иҵара наигӡоит иагьхиркушоит 1944 шықәсазы. Афилологиатә наукақәа дыркандидатуп. Акьыҧхь аҿы дцәырҵуеит 1935 ш. инаркны. 1953-1958 шықәсқәа рзы Б. Шьынқәба Аҧснытәи Ашьҟуҩҩцәа Реидгыла напхгара азиуеит. 1958-1979 ш. рзы Аҧснытәи АССР Иреихаӡоу Асовет Апрезидиум дахантәаҩуп. 1967 Баграт Шьынқәба Аҧсны жәлар рпоет ҳәа аҳаҭыр хьӡы иаҭәаршьоит. 1959, 1978, 1984 шықәсқуа рзы СССР Иреиҳаӡоу Асовет ашҟа депутатс далырхуеит, 1989 шықәсазы - СССР жәлар рдепутатс. Баграт Шьынқәба дакадемикуп; ихҵоуп Кабарда-Балкариеи Адыгьеиаи жәлар рышәҟуҩҩы ҳәа ахьӡ. Ипоезиатә рҿиамҭакуа рзы/ иажәеинраалоу ироман "Ахра ашәа"/ иаҭәашьоуп Д.И. Гәлиа ихьӡ зхыу Ареспублика Аҧсны аҳәынҭқарратә премиа. 1970 шықәса Баграт Шьынқәба далахун Мадиартәыла имҩаҧысыз Европатәи апоетцәа рфорум.

Жәлар рыбзиабара

Лаҵарамза 18 рзы 2010 ш. Аҟәа, Амҳаџьыраа рыҧшаҳәаҟны иаартын Аҧсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ибаҟа. Уи аартра иалахәын Аҧсны аиҳабыра, хаҭала апрезидент С.Багаҧшь, уи ихаҭыҧуаҩ А.Анқәаб. Абаҟа аартра иадҳәалаз амитинг мҩаҧигон Аҧсны акультура аминистр Н. Логәуа. Иқәгылеит ашәҟъыҩҩцъа реидгыла ахада Т.Ҷаниа, ассоциациа ахада М. Лашәриа, Жәлар реизара ахада Н. Ашәба. Ицәажәоз зегь иазгәарҭон Б.Шьынқәба ипоезиа инаҷыданы акыр зымҽхак ҭбаау уаажәларратә усзуҩны дшыҟаз.

Иусумҭақәа

Раҧхьатәи ашәақуа. Аҟуа, 1938 ш.

Аҳәачаҧа. Аҟәа, 1943 ш.

Аҿатә уаа. Иажәеинраалоу ароман. Альманах. Аҩбатәи аномер. 1951 ш./аҩбатәи аҭыжьра - 1955 шықәсазы, еиҳа ихарҭәаау авариант - 1963 шықәсазы./

Ажәеинраалақуеи апоемқуеи. Аҟәа, 1956 ш.

Иаирума. Амшә куашара. Аҟәа, 1961 ш.

Ахра ашәа. Аҟуа, 1965 ш.

Иҩымҭақуа реизга. Х-томкны. Аҟәа, 1977-1979 шш.

"Иалкаау аҧсуа лирика" асериаҿ. Аҟәа, 1988 ш.

Аиҭагақуа

Бараҭашвили Николоз. Ажәеинраалақуа. Апоема "Аҟәа - Қарҭ", 1984 шықәса.

Шандор Петефи. Иалкаау. Иеиҭаргеит Баграт Шьынқәба М. Лашәриа. Аҟәа, 1995 ш.

Инаукатә усумҭақуа рахьтә.

Аҧсуа жәеинраала аиҿартәышьа иазкны.

Альманах №3. Аҟәа, 1952 ш.

Аусумҭакуа Б.Шинқәба иазкны

  • Цвинариа В. Л., Творчество Б. В. Шинкуба, Тб., 1970 (Урысшәала)

Абара

Ахьарҧшқәа

Ошибка скрипта: Функции «render» не существует.