Шень Ко
| Шень Ко | |
|---|---|
| акит. 沈括 | |
|
Шень Ко | |
| Аира ахьӡ | que onda |
| Аира |
1031 Цианьтан ауезд, Линьаньтә анапхгара, Сун аимпериа |
| Аԥсра |
1095 Чженьцзиантәи анапхгара, Сун аимпериа |
| Атәыла | империя Сун |
| Азанааҭ |
физик, картограф, аматематик, астроном, апоет, гражданский инженер, дипломат, антрополог, геолог, аполитик, афилософ, изобретатель, ашәҟәыҩҩы, метеоролог, аптекарь, экономист, астролог, эрудит, ботаник, зоолог, энтомолог, геофизик, климатолог |
| Аҭҵаарадырратә усхкы | аматематика, астрономиа, аметеорологиа, агеологиа, азоологиа, аботаника, афармакологиа, агрономиа, аетнографиа, акартографиа |
Шень Ко, иара убас Шень Куа[1] (акит. 沈括, Shěn Kuò, 1031—1095) — китаитәи ҵарауаҩуп. Инапы злакыз аусхкқәа рахь иаҵанакуан аматематика, астрономиа, аметеорологиа, агеологиа, азоологиа, аботаника, афармакологиа, агрономиа, аетнографиа, акартографиа. Уи анаҩсан, Шень Ко адипломат, аинрал, афинансқәа рминистр, аҳәынҭқарратә инспектор, агидромелиорациаҟны анџьныр, аԥҵаҩы, апоет, амузыкант раҳасабалагьы ихы ааирԥшит.
Анысымҩа
Заатәи ашықәсқәа
Шень Ко иан лашьеиҳабы Сиуи Дун иакәын (акит. 許洞, 许洞, инықәырԥшны 976 — инықәырԥшны 1016), арратә ус азҟаза, насгьы атрактат Ху циань цзин («Ар реиҳабцәа рзы атрактат», 《虎钤经》) автор. Шень Ко зыхьӡ-зыԥша хара инаҩхьаз иан лашьа ахаангьы димбацызт, аха уи иҩнаҭаҟны аҟазаара арԥыс изы акыр ихәарҭахеит, избанзар есҽны Сиуи Дун инапылаҩырақәа ахьыҵәахыз Сиуи иҭаацәа иртәыз ибеиаӡаз абиблиотекаҿы аамҭа ихигон. Аҵара бзиа змаз Шень Ко иан лԥа иҵареи иааӡареи хаҭала лнапы алакын.
Ко иаб Шень Чжоу (沈周, 978–1051), апровинциалтә чынуаҩын. 1040 шықәса инаркны Шень Чжоу иахьатәи апровинциа Сычуань аҟны амаҵураҭыԥқәа ааникылон, анаҩс Аомыньҟа диасит. Иҭаацәа зегьы иара ицны ицоит, Шень Ко дшыхәыҷу инаркны абзазареи аԥсабареи еиуеиԥшым аганқәа рыла рыҭҵаара алшара иоуеит. Игәамбзиара иахҟьаны дшыхәыҷыз афармацевтика дазҿлымҳахеит; Аладатәи Китаи еиуеиԥшым аҭыԥсахьақәа рыҭҵаара, атопографиа иазку адыррақәа инаҭоит — арҭ аҭҵарадыррақәа зегьы аинтерес ду изцәырыргоит. Иаби уи иусуреи дахьырзааигәаз иабзоураны, Шень Ко еиуеиԥшым арегионқәа рсоциалтә ҭагылазаашьақәеи руадаҩрақәеи реилкаара илшеит.
Акариера

Иаб иԥсҭазаара даналҵ хышықәсатәи алахьеиқәҵара ашьҭахь (Конфуциантәи аетика инақәыршәаны), Шень Ко апровинциалтә маҵзура хәыҷқәа рҿы аусура далагоит: Шень Чжоу икариера иабзоураны иԥа алагарҭатә ԥышәарақәа рыҭира дацәыхьчахеит. Шень Ко илшарақәа раԥхьаӡа акәны иааирԥшит аԥшаҳәатә адренажтә система аԥҵара напхгара аҭараан, уи иабзоураны аӡбаарра дгьылқәа ақыҭанхамҩаҿы рхархәара алыршахеит. Ас еиԥш иҟоу даҽа проектқәак агидромелиорациа азҟаза ҳәа иаҳаҭыр шьақәдырӷәӷәеит. Урҭ рахьтә еиҳа ихадан 1061 шықәсазы ауезд Нинго анапхгаҩы иашьа Шень Пи (沈披) иареи инарыгӡаз: уи иалахәын 14 нызқьҩык ауааԥсыра. Шень Ко иҟаиҵаз акартографиатә ҭҵаарақәеи, анџьныртә уснагӡатәқәеи рыла еиқәыршәаз апроект аихьӡара аимператор ахәшьара ду аиҭеит.
1063 шықәсазы Шень Ко иреиҳаӡоу аҭҵаарадырратә ҩаӡаразы аҳҭнықалақьтәи аԥышәара ибзиаӡаны иаиҭеит, анаҩс Ианчжоуҟа амаҵура ддәықәҵан, уаҟа афискалтә интендант (агубернатор имаҵура иаҟароу) Чжан Чу (張蒭; 1015—1080) иҟны ихы бзианы иааирԥшит, насгьы иара иҟынтә арекомендациа иоуит аҳҭнықалақь афинанстә напхгара амаҵурахьы анеиразы. Чжан иԥҳа Шень Ко аҩбатәи иԥҳәыс лакәхоит.
Аҳҭнықалақьтәи аҭыԥ Шень Ко аамҭа ҭацәы изаннажьуан, уи аҵарауаҩ кәыԥш астрономиа аҭҵааразы ихы иаирхәон. 1072 шықәсазы, имаҵура хада инацҵаны, астрономиатә директорат ахылаԥшҩыс дҟалоит. Веи Пу (衛朴) аус ицурала, насгьы аҵарауаа-абзиабаҩцәа рыцхыраарала, атәыла ахы-аҵыхәа ахьынӡанаӡааӡоз еизгаз аҩыратә хыҵхырҭақәа рхархәарала, амзар шьаҭанкылатәи ареформа мҩаԥигоит. Шень Ко еиӷьтәыз амаругақәа рхархәарала, есыҽнытәи астрономиатә гәаҭарақәа рымҩаԥгаразы иазԥхьагәаҭаз хәышықәсатәи ипрограмма, егьырҭ ахылаԥшырҭақәа рчынуаа аԥырхагахеит.
Ван Аньши иҿыцу иполитикатә хырхарҭа синь фа (新法) Шень Ко дахьадгылоз иахҟьаны, аҳҭынратә консерваторцәа ирцәымӷыз ауаа дыруаӡәкхеит: аҵарауаҩ Ван изааигәаз 18-ҩык идгылаҩцәа ргәыԥ дахыԥхьаӡалан. 1072 шықәса анҵәамҭазы, ипрограмма ацхыраара аҭаразы, Шень аҳҭнықалақьтәи адгьылҵакыраҿы иҟаз Аӡымҩахгага Ду арыцқьаразы аоригиналтә техника еиқәиршәеит, насгьы ирыцқьоу алыкь арҵәыра аҳасабала ахархәара шалшо шьақәирӷәӷәеит. 1075 шықәса агәҭанынӡа акыр дныҟәахьан анџьныртә абжьгареи, атәылауаҩратәи арратәи аобиектқәа ргәаҭареи, иара убас Ван Аньши иполитика аларҵәареи рзы. (Ван иқәыԥшыз апровинциалтә чынуаҩс даныҟаз, Шень Ко иаб иԥсра иазкны аепитафиа иҩит, уи нахысгьы ихылҵ аҟыбаҩ бзиа шилаз гәеиҭеит).
Шень Кои Ханчжоу агубернатор Су Ши иареи реиԥылара 1073 шықәса иаҵанакуеит. Сун аепоха иаҵанакуаз иналукааша аинтеллектуал — Су Ши (Су Дунпо) — акрызҵазкуаз ареформақәа дырҿагылан, Шень ари аҭагылазаашьа ихы иархәаны, иҩымҭақәа адепеша иацҵаны аимператор Шеньцзун иахь ишьҭит ачарҳәара аҿырԥштәы аҳасабала.
1075 шықәсазы Шень Ко кидантәи амонарх иаҳҭынрашҟа адипломатиатә миссиа напхгара азиуеит, хықәкысгьы ирыман аҳра Лиао адгьыл ҿыцқәа рахь иҟанаҵо аҽԥынкыларақәа рҿагылара. Игәы иҭеикыз анынаигӡа, абиологиатә ԥшаамҭақәа реизгеи дызхысыз аҵакырадгьылқәа рыхсаалақәеи иманы Китаиҟа дхынҳәуеит. Иаразнакгьы агидромелиорациатә проект ду агәаҭаразы Ианцзы араион ахь дцоит.
Аҭоурыхтә ҭагылазаашьеи иаҵаҵәаху аполитикатә усуреи
Ас еиԥш иҟоу иуниверсалтәу ахаҭара ицәырҵразы аҭоурыхтә ҭагылазаашьаны иҟалеит афеодалтә адгьылқәаарыхреи арратә маҵуреи шьаҭас измаз аимпериа Тан аекономикатә система аҟынтәи, аимпериа Сун аекономикатә система ҿыц ахь шьаҭанкылатәи аиасра, уа ихадоу аҭыԥ ааныркылон аԥаратә системеи ахәаахәҭреи, уи инаҷыданы асоциалтә еиҿкаара даҽакала иҟан: хаҭалатәи аҭҵаарақәа, хаҭалатәи абизнес еиԥш, аҳәынҭқарратә маҵзура иальтернативаны иҟалеит.
Шень Ко Ван Аньши иреформақәа ҳәа изышьҭоу иҿыцу иполитикатә курс «синь фа» (新法) адгылаҩцәа хадақәа дыруаӡәкын. Ареформақәа хықәкы хадас ирыман аҳәынҭқарра афинанстә шәарҭадара, уи ақыҭанхамҩа арационализациа иадҳәалаз ашәахтә системала ишьақәгылан. Даҽа ганкахьала, аҩадантәи аибашьратә шәарҭара атехнологиатә ҭҵаарақәеи, акартографиеи ахырӷәӷәарҭақәеи, астратегиатә теориақәеи, арратә усқәеи уҳәа рыҿиара актуалнатәит. Шень Ко атәылауаҩратә, иара убас арратә усхкқәа ареформақәа ирыҵаркыз ахырхарҭақәа зегьы рҟны алагала ду ҟаиҵеит.
Аҭҵаарадырраҿы аҵакы

Шень Ко ихаҿсахьа Ломоносови (Ху Даоцзин, 胡道靜) Леибници ирҿдырԥшуеит. Леибниц иеиԥш, Шень Когьы аԥсабарадырреи аекономикеи инарываргыланы аметафизикеи, анумерологиеи, аԥшратә практикақәеи ахшыҩзышьҭра ду риҭон.
Еибгоу ахыԥхьаӡарақәеи амузыкатә интервалқәеи реимадара ҭызҵаауаз Пифагор ишьҭрақәлаҩцәа реиԥш, Шень Когьы акитаитә дырраҟны урҭ аҭҵаарақәа ирыциҵеит (律呂, lü lü, ахы акит инықәырԥшны 200 ш. раԥхьа ҳ.ҟ.). Иаԥхьа иҟаз русумҭақәа рыҭҵаареи рырҽеиреи инапы рылакын, иара убас ари ацәырҵра азеиԥш принципқәа реилыркаареи ажәытә текстқәа ҵакыдазтәыз ахҩылааҩцәа рхыԥхьаӡаратә гхақәа рыриашареи уахь иналаҵаны.
Шень Ко Иаков илабашьа аԥиҵеит.
Шень Ко иефемеридтә ҳасабркрақәа рсистема иаҳа аԥхьагылара аманы иҟан, Тихо Браге аамҭа ҿыц астрономиатә аԥхьаӡагатә методикақәа ааиртаанӡа.
Го ахәмарраҿы иҟалар зылшо апозициақәа рхыԥхьаӡара, 10172 ҳәа, акыр инҭкааны ахәшьара аҭара раԥхьаӡа изылшаз иакәын, ари алҵшәа иусумҭа «аӡҭарчы агәаҳәара иазку аессе» аҟны иааган (夢溪筆談 / 梦溪笔谈).
Агәаларшәара
Ԥхынгәымза 1, 1979 шықәсазы, 1964 шықәса абҵарамза 9 рзы Цзыцзиньшань аобсерваториаҿы, Нанкин, Китаи иаартыз астероид Шень Ко иаҳаҭыр азы 2027 Shen Guo ҳәа ахьӡ анашьан[2][3].
Шәахә. иара уб.
Азгәаҭақәа
- ↑ "Музыка Китая". Иархивтәоу аоригиналзы 15 нанҳәамза 2018 ахь. Ириашоу 26 ԥхынгәымза 2018 шықәсазы.
- ↑ Lutz D. Schmadel. Dictionary of Minor Planet Names (англ.). — Fifth Revised and Enlarged Edition. — Berlin, Heidelberg, New York: Springer, 2003. — P. 164. — ISBN 3-540-00238-3.
- ↑ Schmadel, Lutz D. Publication dates of the MPCs // Dictionary of Minor Planet Names. Addendum to Fifth Edition: 2006–2008. — Heidelberg, New York, Dordrecht, London: Springer, 2003. — P. 221. — 316 p. — ISBN 978-3-642-01964-7. — doi:10.1007/978- 3-642-01965-4.
Ахыҵхырҭақәа
- Шэнь Ко. Записи бесед в Мэнси. Пер. фрагментов с кит. и примеч. И. А. Алимова //Петербургское востоковедение. СПб., 2002. Вып. 10. С.60-74.
Алитература
- Алимов И. А. Шэнь Ко и его сборник «Записи бесед в Мэнси» //Петербургское востоковедение. СПб., 2002. Вып. 10. С. 50-59.
- Sivin N. Cosmos and Computation in Early Chinese Mathematical Astronomy // T'oung Pao. — 1969. — Vol. 55(1/3). — P. 70—73. — .
- Китаитәи аҵарауаа
- Алфавит ала астрономцәа
- Китаитәи астрономцәа
- 11-тәи ашәышықәсазтәи астрономцәа
- Китаитәи аԥҵаҩцәа
- Сун аепохазтәи апоетцәа
- 11-тәи ашәышықәсазтәи апоетцәа
- Агидротехникақәа
- 11-тәи ашәышықәсазтәи адипломатцәа
- Иуихан аҿы ииз
- Чженьцзиан аҿы зыԥсҭазаара иалҵыз
- Сун адинастиа аинралцәа
- 1031 шықәсазы ииз
- 1095 шықәсазы иԥсыз