Перейти к содержанию

Чачба (ажәла)

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Аҳәынҭқарра
Чачба-Шервашиӡе
Насгьы аҭоурых аҿы: Чачасӡе, Чач, Чеч, Шарвашиӡе
Агерб
Агеографиа
Аҳҭнықалақь Лыхны (Зуԥу/Соуқ-су), Аҟәа
Ауааԥсыра
Ауааԥсыра рхыԥхьаӡара  ҩык
Абызшәақәа аԥсшәа, аурысшәа, аҭырқәшәа
Адин аԥсылманра, ақьырсианра
Администрациа
Жәларбжьаратәи аидентификациа


Чачба мамзаргьы Шервашиӡе (ақырҭ. შარვაშიძე) — аԥсуааи ақырҭқәеи рыҭауадтә хылҵшьҭроуп. 1184 шықәс аҟынтәи Аԥсны иахагылоу ҭауадцәахеит.

Чачаа рхылҵшьҭра аҭоурых

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Чачаа реимшьҭратә легенда излаҳәо ала, 7-тәи ашәышықәсазы здинастиатә хылҵшьҭра назышьҭыз Ширван анапхагаҩы аемир Шавир Шервашиӡаа ирхылҵит. Уи, 1124 ашықәс азы дытҟәны, Қырҭтәылаҟа дааигеит Давид IV Арҿиаҩы Анаҩсангьы 1184 шықәсазы Датаӷо Шервашиӡе Аԥсны аҳ атитул аҳкәажә Ҭамара илҭеит.

Абри аамҭанӡа аԥсҳацәас Ачаа рымацара ракәын, урҭ рыжәлагьы аԥсышәаҿы ажәа “аҳәынҭқар” иасинонтмхеит. Убри аҟнытә аԥсуаа рҿы Шарвашиӡе аԥсҳа ҿыцқәа Ач-Ачба ҳәа ажәлар ирыхьӡырҵеит - «Ачба ихагылоу Ачба» ҳәа мамзаргьы, аԥсуа фонетикала, а-Чачба ҳәа.

Ареволиуциа-ҟалаанӡатәи литератураҿы Шервашиӡе ажәла ахьӡ Ширван аҟынтәи иаауеит ҳәа, насгьы егьырҭ аԥсуа ҭауадцәа ҭаацәарақәак, лымкаала Маршьанааи Ачааи (Анчабаӡеи, Анчба), еиҳа Шервашиӡараа раасҭа ижәытәӡатәиқәоу жәлақәоуп ҳәа рхы рыԥхьаӡоит.

Аԥсны анапхгаҩцәа рсиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Аԥсҳа Саҭеман Шарашиа (Шервашиӡе). Дон Кристофоро де Кастелли иалбом асахьақәа рҟынтәи

Аҟәа аҳцәа (ериставцәа)

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ихьыԥшыму Аԥсҳара анапхгаҩцәа мтаврцәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аԥсны апрестол аҭыԥблиустителцәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
  • Гьаргь Михаил-иԥа Шервашиӡе (1846—1918)
  • Константин Иосеб-иԥа Шервашиӡе (1918—1973)
  • Гьаргь Константин-иԥа Шервашиӡе (1973—2010)
  • Теимураз Гьаргь-иԥа Шервашиӡе (2010 — .)