Чачба, Шәарах
| Шәарах Чачба | |
|---|---|
| Сорех | |
|
Амаҵураҭыԥ ахь: ~1660 – ~1680 | |
| Аԥхьа иҟаз | Гьаргь I Чачба |
| Аҭынха | Зегнаҟ Чачба |
|
| |
|
| |
| Аира |
? Аԥсны(?) |
| Аԥсра |
1680? Аԥсны(?) |
| Ани аби | Гьаргь Чачба (аб), ан иҳаздырамкәа. |
Шәарах (Сорех, Сарех) Чачба-Шервашиӡе — Аԥсны аҳратәра аҳ. Ахыҵхырҭақәа рҿы 1660-1680 шықәсазы даҳбоит.
Иполитика
[аредакциазура | акод аредакциазура]Шәарах Чачба амрагыларахь аԥсуаа рҳәаақәеи анахара азыҳәан ихы иалаирхәан. Амрагылатәи аԥсуа аҳра аҳәаақәа ахынҳәара иҭахын. Ваҳушҭи Багратиони ишызгәаиҭаз Шәарахеи иашьеи Кәаԥеи Агыруа аҳра иақәланы еибашьеит, адгьыл аӡиас Егры ҟынӡа агырцәа рҟынтәи ахы ақәырҭит, Аԥсны иадҳәалеит.[1] Убри ашьҭахь Шәарах Гырны "мҭавар" (агыршәала - аҳ, аҭауад) иара дшакәыу ҳәа иҳәит, [1] Кәаԥи Шәарахеи Егры иавсны Гыртәылаахь иақәлон, атәцәеи иргон. Гырны аҳеи Имерети аҳеи Абашиӡе изжәлаз Шәарах ирра ԥырҿеит аибыслараҿы акәхап,[1] убри азыҳәан Шәарах илымшаӡит Гырны атәыртәра. Аха Шәарах иҳәаақәа ихьчеит. Шәарах ихадара ҵыхәтәантәи азыҳәан иара иабшьа Зегнаҟ идгьыл дақәлеит, имихеит.[2] Ваҳушҭи Багратиони иашиҳәо ала Шәарах Аԥсны ахь ахынҳәыз адгьыл аҿы иара "аԥсуаа ихҵәаны иааигеит уаҟа"[1], убри Аԥсны амрагылатәи адгьыл Гырны амԥыҵахалаҩцәа ирацәаны аамҭазы ишадҳәалаз амилаҭтәи бызшәеи ассимилиациагьы ахьыз ҳәа ҟалоит, убри азыҳәан акәхап иара убас иазгәаиҭоит ихыҵхырҭаҿы. Шәарах Нхыҵ Кавказ ианхоз ажәларқәа (Ашәуаа, Азахәцәа, Аҟарачқәа) рахьгьы анырра иман акәхап, рыцхыраара иқәларақәа рҿы ирҭон ҳәа ҟалоит.[3]
Иԥсҭазаара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Шәарах ақырҭ бызшәа ҟаҵаны иау хыҵхырҭақәа рҿы Сорех ҳәа ихьӡуп, аха уи ахьыӡ Сорех еиԥш иҟаӡым акәхап, убри азыҳәан иара ихьыӡ аԥсуахьӡы Шәарах ишакәыз рҳәоит. Шәарах иаб Гьаргь ихьӡан. Зегнаҟ Чачба иашьаԥа иакәын иара.[4]
Азгәаҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ 1,0 1,1 1,2 1,3 Вахушти Багратиони. История царства Грузинского. Stalinis saxelobis Tʻbilisis saxelmcipʻo universitetis gamomcʻemloba — 1941.
- ↑ О.Х. Бгажба, З.С. Лакоба. История Абхазии с древнейших времён до наших дней. Аҟәа — 2007.
- ↑ Хотко. С.Х. Карачай. Страна на вершинах Кавказа. Полиграф ЮГ. Маиҟәаԥ — 2011.
- ↑ Юрий Чиковани. Род князей Чачба-Шервашидзе

