Хокерба, Шамиль Ибрагим-иԥа
Хокерба Шамиль Ибрагим-иԥа (аур. Хокерба Шамиль Ибрагимович; 20.01.1899, Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка, (иахьатәи Очамчыра араион) Очамчыра ақалақь) – 1942, Лагодехи, Қырҭтәылатәи ССР) – аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, апублицист.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҵара иҵон Очамчыратәи ҩ-классктәи ашкол аҟны (1908-1911), ашьҭахь – Очамчыра ақалақь ԥшь-классктәи ашкол аҟны (1911-1915). 1916 ш. дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа. 1918 ш. акомпартиа далалеит. 1920 ш. аԥсуа жәлар рхақәиҭратә қәԥара дахьалахәыз азы ақырҭуа мчрақәа ддырбаандаҩит. 1921 ш. март мзазы, Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла, доужьын. Аԥсны Аревком Кәыдрытәи ауезд адгьыл аҟәша аиҳабыс дҟарҵеит. 1924-1928 шш. рзы аҵара иҵон Қарҭтәи аполитехникатә институт ақыҭанхамҩатә факультет аҟны. Аԥсныҟа даныхынҳә аусура далагеит Аԥснытәи ақыҭанхамҩатә Центр агроном хадас (1933 ш. азынӡа). 1933-1935 шш. раан – Гәдоуҭа араион аҟны асовнхара деиҳабын, ашьҭахь – 1939 ш. азынӡа Аԥсны адгьыл азы Жәлар ркомиссариат агроном хадас дыҟан.
Қырҭтәыла Аԥсны имҩаԥнагоз амилаҭеилыхратә политика даҿагыланы иаартны дықәгылон. 1941 ш. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа алагара мызқәак шыбжьаз, харада ахара идҵаны дырбаандаҩын, Аԥснынтә ддәықәҵан Лагодехиҟа. Шықәсык ҵаанӡа араҟа, абахҭаҿы иԥсҭазаара далҵуеит.
Дыриашан 1956 шықәсазы. 1978 ш. иԥсыбаҩ Лагодехинтәи Аԥсныҟа, иҭынхацәа рахь иааган, анышәгьы дамардеит Очамчыра.
Ш. Хокерба ирҿиамҭақәа жәпакы еиқәымхаӡеит. Ашәҟәыҩҩы ирҿиара ианазхьаԥш дандыриаша ашьҭахь ауп.
Раԥхьатәи иажәеинраалақәа иҩит 1916 шықәсазы («Сҩызцәа», «Аҵара ҵала арԥыс», Анцәа илԥха шәоуааит, аҿар», «Аӷьыч»). Абри ашықәс азы иҩит раԥхьатәи иажәабжьгьы. Ажәабжьқәа иҩуан афольклортә сиужетқәа шьаҭас иаҭаны. Р. Хә. Қапба игәаанагарала, Ш. Хокерба раԥхьаӡа акәны аԥсуа литература иалеигалеит «ажәабжь-лакә» (Қапба Р. Хә. Шамил Хокерба. Иԥсҭазаареи ирҿиареи. Аҟәа, 2003, Ад. 65).
Ш. Хокерба иажәеинраалақәеи истатиақәеи ркьыԥхьуан агазеҭқәа «Аԥсны» (1919-1920), «Аԥсны ҟаԥшь». Ирҿиамҭақәа еизганы хазы шәҟәны иҭыжьын В. Ҳ. Конџьариа лыбзоурала, Аҟәа, 1963 шықәсазы (аизга еиҭаҭыжьын 1981 шықәсазы). Апоет иажәеинраалақәа агәылалеит «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001, еиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).
Аԥсшәахь еиҭеигеит ақыҭанхамҩеи амедецинеи ирыҵанакуеи егьырҭ аусумҭақәеи.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- аԥсышәала: Иҩымҭақәа реизга. Аҟәа, 1963.
- Иҩымҭақәа. Аҟәа, 1981.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 903
