Перейти к содержанию

Сарециан, Артавазд Аик-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Артавазд Аик-иԥа Сарециан
Артавазд Айкович Сарецян

Артавазд Аик-иԥа Сарециан
Аира мшаԥымза 221957 ш.
Лечкоп ақыҭа, Аҟәа араион, Аԥснытәи АССР
Аусура Аԥсны аерманцәа рдиаспора ахаҭарнак, апоет, ажурналист, апублицист, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы

Артавазд Аик-иԥа Сарециан (аур. Артавазд Айкович Сарецян; мшаԥымза 221957 ш., Аԥсны, Аҟәа араион Лечкоп ақыҭа) – Аԥсны аерманцәа рдиаспора ахаҭарнак, апоет, ажурналист, апублицист, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы. Ермантәыла аерман шәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1992), Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (2003), Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи рлахәыла. Ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара аерман-аԥсуеи культуратәи алитературатәи еимадарақәа рзы (2012), Ермантәыла аҵара аминистрра Уилиам Сариан имедал имедал « Ахатәы бызшәа ацҳаражәҳәаҩ».

Далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-зинтә факультет (1983). Рҵаҩыс аус иуан Аҟәатәи аерманцәа ршкол аҟны, 1988 ш. инаркны – Аҟәа араион Лечкоптәи аерманцәа ршкол адиректорс дыҟан, 1994 ш. нахыс – аерман газеҭ «Крунк» аредактор хада, 1997 ш. раахыс - аерман газеҭ «Амшен» аредактор хада.

1990-тәи ашықәсқәа раан ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа ануадаҩыз ақырҭқәа иҟарҵоз ақәымчреи амақаррақәеи ҵыхәаԥҵәара шрымамызгьы, иаԥиҵоит алитература-рккаратә газеҭ «Амшен» (Аԥсны аерманцәа рдиаспора иатәу). Уи актәи аномер ҭыҵит 1991 ш. октиабр 15 рзы. Агазеҭ ианылон Аԥсни, Краснодартәи атәылаҿацәи, Еревани рҟнытә аерманцәа рхаҭарнакцәа ражәеинраалақәеи, ражәабжьқәеи, рстатиақәеи, иара убас аԥсуа поетцәа аӡәырҩы ражәеинраалақәа аерман бызшәахь еиҭаганы.

Ажәеинраалақәа рыҩра иҽазикит ашкол данҭаз. Раԥхьатәи иажәеинраала «Пионер-канч» агазеҭ ианылеит. Ашьҭахь иҩымҭақәа ркьыԥхьуан Аԥсни Ермантәылеи, иара убас аерманцәа ахьынхо аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟны иҭыҵуа ажурналқәеи агазеҭқәеи рҟны.

Иҭижьхьеит ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы, урҭ иреиуоуп: «Гәаартыла аиԥылара» (1981), «Амра ԥшьа»» (1989), «Аԥсы цқьа ухазарц» (2001), «Аԥацха» (2002), «Аелегиа ацәырҵрақәа рыла» (2013), «Еилаԥсоу агәҭахәыцрақәа» (2014), «Амшынеиқәатәи ашәахәа» (2014), «Аџьшьаратә дыргақәа рыда… Атыша ахықә аҿы» (2014). 2012 ш. Аҟәа, асериа «Амшен» абиблиотека» ала ерман бызшәалеи урысшәалеи иҭыжьын сахьала еиқәршәоу ашәҟәы «Амшен-20» («Амшен» раԥхьатәи аномер анҭыҵыз аахыс 20 шықәса аҵра иазкны).

А. Сарециан дырдыруеит иара убас еиҭагаҩны. Аерман бызшәахь еиҭеигеит, егьикьиԥхьит (еиҳарак агазеҭ «Амшен аҟны) аԥсуа жәлар ражәаԥҟақәа, Д. И. Гәлиа, И. А. Коӷониа, Қь. Ҟ. Агәмаа, Б. У. Шьынқәба, И. К. Ҭарба, Н. З. Ҭарба, А. Н. Џьонуа, Ҷ. М. Џьонуа, А. Е. Лашәриа, Қь. Ш. Чачхалиа, Т. Шь. Аџьба, Б. А. Гәыргәлиа, Т. М. Ҷаниа, В. Џь. Амаршьан, Г. Шь. Аламиа, Р. Ҳ. Смыр, Д. Б. Занҭариа, В. К. Занҭариа, С. З. Лакоба, В. В. Аԥҳазоу, С. А. Агындиа, А. И. Лагәлаа, В. К. Кәакәаскьыр уҳәа ражәеинраалақәа.

А. Сарециан иажәеинраалақәеи иажәабжьқәеи жәпакы аԥсшәахь еиҭагоуп. Урҭ кьыԥхьын ажурнал «Алашара» (2002, №3), агазеҭ «Аԥсны» (2012, №68, сентиабр 5) уҳәа рҟны.