Патулиди, Николаи Георги-иԥа
| Николаи Георги-иԥа Патулиди | |
|---|---|
| Николай Георгиевич Патулиди | |
|
Николаи Георги-иԥа Патулиди | |
| Аира |
нанҳәамза 13, 1944 ш. Дмитриевка ақыҭа, Аҟәа араион, Аԥснытәи АССР |
| Аԥсра |
абҵарамза 3, 2010 ш. Аҟәа, Аԥсны |
| Аусура | абырзен поет, аиҭагаҩ, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы |
| Абызшәақәа | аурыс бызшәа |
| Атәылауаҩра |
Асовет Еидгыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра |
| Анашьамҭақәа | орден «Честь и слава» |
Николаи Георги-иԥа Патулиди (аур. Николай Георгиевич Патулиди; нанҳәамза 13, 1944 ш., Аԥсны, Аҟәа араион Дмитриевка ақыҭа – абҵарамза 3, 2010 ш., Аԥсны, Аҟәа) – абырзен поет, аиҭагаҩ, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы. Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы (1991). Ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара (2004). Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1997). Дыҩуан урысшәала.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]1949 ш. Патулиди иҭаацәа егьырҭ абырзенқәа инарылакны Аԥснынтәи Ҟазахсҭанҟа иахыргеит. 1956 ш. Аԥсныҟа ианыхынҳә Н. Патулиди далгеит Аҟәатәи аусуцәа аҿар иртәыз абжьаратә школ №1 (1962), анаҩс – Полтаватәи атранспорттә ргыларатә техникум (1970), Москва, ВЦСПС иатәыз азаанаҭеигылақәа Иреиҳау рышкол (1981). 1960 ш. усуҩыс дыҟан. 1966 ш. инаркны аус иуан «Закранстрои» атуризми аекскурсиақәеи рзы Аԥснытәи аобласттә совет иахьаҵанакуаз машьынаныҟәцаҩыс, нас – техникс, нџьнырс, автобаза атехникатә ҟәша аиҳабыс.
1985 ш. нахыс Аҟәа ихаҭа еиҿикааз абырзен жәлар ртеатр напхгара аиҭон. 1991 ш. инаркны - 1992 ш. август азынӡа абырзенцәа ркультуратә центр «Ирини» аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩс дыҟан. 1994-2001 шш. раан, 1994 ш. ианвар 22 рзы иаԥҵаз Аԥсны абырзенцәа Ргәыԥ дахантәаҩын. 1996-2001 шш. рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатс, аҭҵаарадырреи, аҵареи, акультуреи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2001 ш. инаркны – Аԥсны акультура аминистр ихаҭыԥуаҩс.
Иҩымҭақәа рнылон Аҟәа, Қарҭ, Москва иҭыҵуаз апериодикатә кьыԥхь. Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы дравторуп. «Сухумские мотивы» ахьӡны Аҟәа 2500 шықәса ахыҵра иазкны Москва иҭыҵыз (2005) ажәеинраалақәа реизга авторцәа дыруаӡәкуп.
Н. Патулиди иажәеинраалақәа жәпакы Аԥсны иазкуп, уи адагьы иара иԥсҭазаара ихаҿы изаагомызт. Аԥсны аанимыжьит аполитикатә ҭагылазаашьа анеибарххаз, аибашьраангьы, уи ашьҭахь Аԥсны амацәаз ианҭакыз, абырзенцәа аӡәырҩы Бырзентәылаҟа ианцозгьы. Иара иҩуан: «Я с Абхазией жить обречен ибо с нею навек обручен…»
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- урысшәала: Иду к тебе. Стихи. Сухум, 1977.
- Привязанность. Стихи. Сухум, 1980.
- Светлый день. Стихи. Сухум, 1984.
- Меч и скрипка. Стихи и поэмы. Сухум, 1987.
- Время жизни. Стихи. Сухум, 1988.
- Южные выси. Стихи. Донецк, 1991.
- Непокой. Сухум, Стихи. 1992.
- Под защитой льва. Сухум, 1995.
- Алычовая метель. Стихи и поэмы. Сухум, 2013.