Перейти к содержанию

Папаԥҳа, Маҳинур Ҭуна

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Маҳинур Ҭуна Папаԥҳа
Махинур Туна Папба

Маҳинур Ҭуна Папаԥҳа
Аира мшаԥымза 201950 ш.
Ҭырқәтәыла, Билеџьықь ақалақь, Алынџьа ақыҭа
Аусура Ҭырқәтәылан аԥсуа культура азааԥсаҩ, ашәҟәыҩҩы, аҭҵааҩы, апублицист, аиҭагаҩ

Маҳинур Ҭуна Папаԥҳа (аур. Махинур Туна Папба; мшаԥымза 201950 ш., Ҭырқәтәыла, Билеџьықь ақалақь, Алынџьа ақыҭа) - Ҭырқәтәылан аԥсуа культура азааԥсаҩ, ашәҟәыҩҩы, аҭҵааҩы, апублицист, аиҭагаҩ. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2004). Иланашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара. Илдыруеит аԥсшәа, аҭырқәшәа, осман (ажәытәтәи аҭырқәа бызшәа), англыз бызшәақәа.

Лхылҵшьҭра – Аԥсны, Дали Ҵабали иҭыҵыз иреиуоуп.

Аҩбатәи акласс даналга лҭаацәа Алынџьа ақыҭа ааныжьны ақалақь хәыҷы Ԥазаиери ашҟа нхара ииасит. Лан лыԥсҭазаара даналҵыз лара аԥшьбатәи акласс аҟны дтәан. Уи нахыс Есқьишьеҳир ақалақь иаҵанакуа, Чуқурхисар ақыҭахь диасит (араҟа дынхон лан лаҳәшьа), лҵарагьы иацылҵон. Ашьҭахь арҵаҩратә ҵараиурҭа дҭалеит. Лҵара аныхлыркәша ашьҭахь Сҭамԥылтәи ауниверситет алитературатә факультет аҟны аҵара лҵон. Ҩажәи хԥа шықәса аус луит аҳаиртә компаниа аҟны.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аспирантура дҭан. Омар Беигәаа иԥсҭазаареи ирҿиареи ирызкны адиссертациа азлырхиоит.

Ҭырқәтәылан иаԥылҵеит ашәҟәҭыжьырҭа «Asyayin», уи иҭнажьуан аԥсуааи Кавказ егьырҭ атәылақәеи ирызкыз ашәҟәқәа.

Лырҿиараҿы аҭыԥ ҷыда ааникылоит О. Беигәаа. Жәибжь шықәса лхыҵуан ашәҟәыҩҩи-аҵарауаҩи лареи анеибадырыз, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рзынӡагьы аус ицылуан. Лааԥсара маҷымкәа иадылҵеит Омар иусумҭақәа аԥсшәахь реиҭагара. Авторс дамоуп О. Беигәаа ирҿиара иазку аочерк.

М. Папба Ҭырқәтәылан аҭҵааратәи апропагандатәи усура мҩаԥылгоит. Аԥсуа фольклортә, аетнографиатә материалқәа маҷымкәа еизылгеит. 2005 ш. еиҿылкааит афольклортә ансамбль «Уарада».

Ажурнал «Алашара» ианылеит лажәабжьқәа, аԥсуаа рҭоурыхи ркультуреи ирызку лыстатиақәа. Аҭырқәшәахь еиҭалгеит аԥсуа фольклортә текстқәа, аԥсуа ҵарауааи ашәҟәыҩҩцәеи рыҭҵаарадырратә усумҭақәеи рсахьаркыратә ҩымҭақәеи: «Нарҭ Сасрыҟәеи ԥшьынҩажәи зеижәҩык иашьцәеи», «Аԥсуа жәлар репос», Б. У. Шьынқәба аус адуланы ииҩыз «Абрыскьыл», С. Л. Зыхәба ишәҟәы «Аԥсуа лакәқәа», В. Л. Бигәаа – «Аԥсны аҭоурых», В. Џь. Амаршьан ироман «Аԥсҳа» уҳәа егьырҭгьы.

  • ҭырқәшәала: Аԥсилиеи Ҵабали. Сҭампыл, 2001.
  • Раԥхьатәи аҭырқәа ԥҳәыс- асахьаҭыхҩы Миҳри Расим (Миушьфиқ) Ачба). Сҭампыл, 2007.