Перейти к содержанию

Папасқьыр, Гәышька Гьаргь-иԥҳа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Гәышька Гьаргь-иԥҳа Папасқьыр
Гушка Георгиевна Папаскир

Гәышька Гьаргь-иԥҳа Папасқьыр
Аира цәыббрамза 2, 1914 ш.
Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Кәтол ақыҭа
Аԥсра ԥхынгәымза 2, 1999 ш.
Аусура аԥсуа хәыҷтәы шәҟәыҩҩы
Абызшәақәа Аԥсуа бызшәа
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла,
Аԥсны Аҳәынҭқарра

Гәышька Гьаргь-иԥҳа Папасқьыр (аур. Гушка Георгиевна Папаскир; цәыббрамза 2, 1914 ш., Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Кәтол ақыҭа – ԥхынгәымза 2, 1999 ш.) – аԥсуа хәыҷтәы шәҟәыҩҩы. Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы. СССР-и Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Дыҩуан аԥсышәала.

Ҩышықәса аҵара лҵон Кәтолтәи алагарҭатә школ аҟны, нас лҵара иацылҵеит Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи аԥсуа школ аҟны (1923-1933). 1958 ш. дҭалеит амарксизм-ленинизм Аҟәатәи ауниверситет, дагьалгеит 1960 шықәсазы. 1933 ш. инаркны аус луан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭаҿы. 1941-1945 шш. раан Қьарақьантәи (Кәтолтәи) алагарҭатә школ аҟны дырҵаҩын. 1946-1954 шш. рзы агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» аредакциаҿы корректорс, нас – аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 1954-1978 шш. рзы аус луан Аԥсны Аминистрцәа Рсовет аҟны иҟаз ацензура аҟәша аҟны.

Аԥсуа хәыҷтәы литература арҿиараҿы ллагала маҷымкәа иҟоуп. Раԥхьатәи лҩымҭа лкьыԥхьит 1932 шықәсазы. Лажәабжьқәеи лповестқәеи рнылон агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь», аизга «Еҵәаџьаа» (аамҭақәак рзы агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» агәлаҵак аҳасабала иҭыҵуан), ажурналқәа «Алашара», «Амцабз».

Гә. Папасқьыр жәаба инареиҳаны лышәҟәқәа ҭыҵхьеит.

Аԥсшәахь еиҭалгеит аурыси ақырҭуеи шәҟәыҩҩцәа рхәыҷтәы ҩымҭақәа жәпакы.

  • аԥсышәала: Кәчыр дшпионерхаз. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1932.
  • Ааԥынтәи ашәҭқәа. Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа. Аҟәа, 1960.
  • Аиҩызцәа хәыҷқәа. (Ажәабжьқәеи апиесеи ахәыҷқәа рзы). Аҟәа, 1964.
  • Гәдым-асахьаҭыхҩы. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1966.
  • Аҵыҵындрақәа. Ажәабжь. Аҟәа, 1969.
  • Ахынҳәра. (Аповести ажәабжьқәеи). Аҟәа, 1972.
  • Жәаф шықәса ихыҵуан… Аповест. Аҟәа, 1974.
  • Ажәабжьқәеи аповести. Аҟәа, 1976.
  • Амшын ахықәаҿы. Ажәабжьқәа, агәалашәарақәа. Аҟәа, 1979.
  • Ахатәы мҩа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1984.
  • аурысшәахь аиҭагақәа: На берегу моря. Рассказы. Для среднего школьного возроста. Сухуми, 1983.