Марр, Николаи Иаков-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Николаи Марр» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Николаи Иаков-иԥа Марр
ნიკოლოზ მარი
Аира ԥхынҷкәынмза 25, 1864 ш.иул. / ажьырныҳәамза 6, 1865 ш.грег.
Қәҭешь
Аԥсра ԥхынҷкәынмза 20, 1934 ш.
Санкт-Петербург
Аԥсыжра аҭыԥ Казачье кладбище Александро-Невской лавры
Аусура антрополог,
алингвист,
эсперантист,
арменист,
археолог,
преподаватель университета,
этнолог,
ашәҟәыҩҩы
Абызшәақәа Есперанто,
Аурыс бызшәа,
Ақырҭуа бызшәа,
Аирманы бызшәа,
Англыз бызшәа,
шотландский гэльский язык
Атәылауаҩра Урыстәылатәи аимпериа,
РСФСР,
Асовет Еидгыла
Алма-матер Восточный факультет СПбГУ
Анашьамҭақәа орден Ленина,
заслуженный деятель науки РСФСР,
орден Святого Станислава,
орден Святого Владимира,
орден Святого Владимира 4-й степени,
орден Святого Станислава 2-й степени,
орден Святой Анны 2-й степени,
орден Святой Анны

Николаи Иаков-иԥа Марр (ақырҭ. ნიკოლოზ იაკობის ძე მარი, аур. Николай Яковлевич Марр; ԥхынҷкәынмза 25, 1864 ш. (ажьырныҳәамза 6, 1865 ш.), Қәҭешь, Урыстәылатәи аимпериаԥхынҷкәынмза 201934 ш., Ленинград) — Урыстәылатәии асоветтәии мрагылараҭҵааҩ, кавказдырҩы, афилолог, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, археолог, Аимператортә ҵарадыррақәа ракадемиа академик (1912 ш.), анаҩс СССР аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ. Ареволиуциа ашьҭахь даара деицырдыруа дҟалеит «иҿыцу абызшәадырра» аԥҵаҩыки, мамзаргьы «аиафеттә теориа» аԥҵаҩык иаҳасаб ала. Ауааԥсыра дырдыруан, иара убасгьы, апоет-ақәышьқьырраҩ, мрагылараҭҵааҩы, Иури Марр иаб ҳәа. Зыхьӡ нагоу алингвист, кавказҭҵааҩ Николаи Марр иҭҵаарадырратә ҭынха аҵарауаа еиуеиԥшымкәа иазнеиуеит, иара Марр ихаҭарагьы убас, аха ус шакәугьы, иара, жәаҳәарада, иналукааша ҵарауаҩ дуун. [1]

Анысымҩа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Николаи Марр (1905 ш.)

Николаи Иаков-иԥа Марр диит 1864 шықәса Ԥхынҷкәынмза 25 рзы Қәҭешь ақалақь, ашотланд Иаков (Џьеикоб) Монтегиу-Марри ақырҭуа ҭыԥҳа Агафиа Магулариеи рҭаацәараҿы. Иаков акыраамҭа Қырҭтәыла дынхон, ачаиааӡара инапы алакын. Уа дахьыҟаз 60 шықәса рыла иеиҵбыз ақырҭуа ҭыԥҳа ԥҳәысс дигоит: усҟан иара 80 шықәса ихыҵхьан, лара 20 шықәса дырҭагылан. Уимоу, Иакови Агафиеи рбызшәагьы еибакуамызт: иара англыз бызшәеи афранцыз бызшәеи иҳәон, ақырҭшәа издыруамызт, лара лакәзар – ақырҭшәа ада даҽа бызшәак лыздырамызт. Абас збызшәа еибамкуаз ани аби иаԥырҵаз аҭаацәараҿы диит заԥхьаҟа илингвистхараны иҟаз Николаи Иаков-иԥа Марр. Ан лԥа даара дихӡыӡаауан, бзиа дылбон, лыԥсы зегьы иҿҳәаран, агәра лгон зегьы дызларылукааша ак илоуп ҳәа. Марр ихатәы бызшәас ииԥхьаӡоз ақырҭшәа акәын, аха хылҵшьҭрала уеизгьы Британиа Ду датәын.[2]

Абызшәақәа разҿлымҳара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Николаи Марр дшыхәыҷӡаз атәым бызшәақәа рҵараҿы абаҩхатәра дуӡӡа ааирԥшуан. Аҩбатәи акласс аҿы аҵара аниҵоз, иара илшеит аурыс бызшәа ҵаны, уи абызшәала раԥхьатәи ашәҟәы аԥхьара. Аҵара ахьиҵоз Қәҭешьтәи агимназиахь даара имаҷны дныҟәон, зны-зынла асеместрқәа бжьаижьуан, аха ус шакәызгьы, абызшәақәа рзы ахәшьара ҳаракӡақәа иманы, класск аҟынтә даҽа класск ахь диасуан. Абызшәақәа иара ихала иҵон. Еиҳаракгьы абырзен бызшәа даара игәаԥхон, дазҿлымҳан, игәцаракны иман. 1884 шықәсазы Николаи Марр хьтәы медалла агимназиа далгеит, анаҩс Петербургтәи ауниверситет мрагыларатәи абызшәақәа рфакультет дҭалоит. Марр истуденттә шықәсқәа раан, аамҭак азы мрагыларатәи абызшәақәа рфакультет иаҵанакуаз ԥшь-ҟәшак рахь дныҟәон. Иара илшоит афакультет аҿы иддырҵоз абызшәақәа зегьы рҵара, ргәынкылара. Иара убасҟан ауп ихаҿгьы ианааиз кавказтәи абызшәақәа, хаҭалагьы ақырҭшәа, асемит бызшәақәа хылҵшьҭрала ирзааигәоуп ҳәа агәаанагара. Абри игәаанагара нас дышнеи-шнеиуаз иԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадараз теорианы иҟалеит, аҿиара аиуит.

Ауниверситет даналга аамышьҭахь, заԥхьаҟа иҵарауаҩхараны иҟаз Марр Петербургтәи ауниверситет аҟны ақырҭуа, аерман бызшәақәа ркафедраҿы рҵаҩыс аусура далагоит. Аамҭак ашьҭахь, иара ари ауниверситет дапрофессорхоит, 1911 шықәсазы – Мрагыларатәи афакультет адеканс дҟалоит.[3]

Иҿыцу абызшәадырра[аредакциазура | акод аредакциазура]

Николаи Марр «иҿыцу абызшәадырра» аԥҵаҩыс дыԥхьаӡоуп, уи даҽакала «аиафет теориа» ҳәагьы иашьҭоуп – Абиблиа иалоу Нои ахԥатәи иԥа Иафет ихьӡ иахьырԥшны. 1923 шықәсазы Марр ицәыригаз итеориа инақәыршәаны, адунеи абызшәақәа зегьы «ԥшь-елементк» ирхылҿиааит. «Аиафет бызшәақәа» генетикатә акзаарак еиԥш акәымкәа, акласстә акзаарак еиԥш ирыхәаԥшуп. Абасала, Марр излаилшоз ала абызшәадырреи, усҟан аӷәӷәахара иаҿыз амарксизми еидиҳәалар иҭахын. Марр «аиафет бызшәақәа» ирхиԥхьаӡалон ақырҭшәа, агыршәа, ашәаныуа бызшәа, аҷан бызшәа, ашьҭахь даҽа акык-ҩбак иԥсхьоу абызшәақәагьы уахь иалаиҵо далагеит, урҭгьы асемит бызшәақәа ирзааигәоуп ҳәа ыршаҳаҭуа. Егьырҭ аҵарауаа-алингвистцәа Марр игипотезақәа акритика ӷәӷәа рзыруан, аҭҵаарадырра иаҿагылоит, «хыҭҳәаауп» ҳәа рҳәон. Николаи Марр иԥсихика уашәшәыроуп ҳәагьы гәҩарас дҟарҵо иалагеит, аха ус иҟаҵәҟьазу, иҟамзу аӡәгьы ишьақәимыргылеит. Аамҭак азы Марр итеориа ақәҿиареи азхаҵареи аманы иҟан, Асовет Еидгыла ахада Иосиф Сталин адгылара аиҭеит аҟынтә. Уи Марр итезисқәа ахархәарагьы риҭеит 1930 шықәса ԥхынгәымзазы имҩаԥысыз Аидгылазегьтәи акоммунистцәа рпартиа ажәафтәи реизара ду аҿы иқәгылара аан.[4]

Заатәи илингвистика[аредакциазура | акод аредакциазура]

1908 шықәсазы Николаи Марр ажәытәӡатәи аерман бызшәа аграмматика ҭижьит, 1910 шықәсазы – аусумҭа «Аҷан бызшәа (алаз бызшәа) аграмматика, ахрестоматиеи ажәари рыцны», уи ааҵарауаа даара ахә ҳаракны иршьеит.

Николаи Марр инаукатә усура алагамҭазы, 1880 - тәи ашықәсқәа рзы, Кавказтәи абызшәақәа ргенетикатә еимадарақәа рызҵаарақәа дрызҿлымҳахеит, акыр агипотезақәа ықәиргылеит асемиттәи абаски бызшәақәа реизыҟазаара (уи азын анҵамҭа ҟаҵан 1908 шықәсазы) аганахьала.

Николаи Марр игипотезақәа реиқәымшәара, усҟантәи аамҭазтәи адыррақәа рыла, аиҿырԥшра-ҭоурыхдырратә бызшәадырра, убас еиԥш агәаанагарахь днанагеит, ас еиԥш аиҿырԥшра-ҭоурыхдырратә бызшәадырра ҟалашьа амам ҳәа, арҭ аидеиақәа еиҳагьы иӷәӷәахеит ареволиуциа ашьҭахь. Усҟан аҭыԥ змаз алингвисттә хырхарҭа младограмматизм акритика азуа, Марр иазгәеиҭеит абызшәатә фактқәа рыҭҵаара аҟны атипологиатәи асоциолингвисттәи знеишьа даара ишхадоу. [5]

Аԥсуа бызшәа аҭҵаарақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ишдыру еиԥш, Марр аԥсуа бызшәагьы инарҭбааны иҭиҵаауан. Аԥсуа бызшәеи алитературеи ракадемиа аԥҵара Академик Марр иахьибзоуроу даара ирацәоуп. 1912 шықәса, аԥхынразы, Шәантәыла имҩаԥысыз археологиатә експедициа ашьҭахь, иара Аԥсны даҭааит. Дырмит Гәлиеи, Никәа Џьанашьиеи, Николаи Патеиԥеи, Пиотр Ҷараиеи егьырҭ аҭыԥантәи аҵарауааи дрыцны акыраамҭа ара ихигеит. Еиҳаракгьы, Кәыдрытәи ауезд иатәыз Џьгьарда ақыҭан, Ашәы Ҳабыџь иҭаацәараҿы. Абраҟа, раԥхьаӡа акәны, аԥсшәа илымҳа иҭасит, иара ихаҭа ишиҳәаз алагьы, «аԥсуа бызшәа џьгьардатәи ацәажәашьа, еиликаауа аҟынӡагьы днеит». Аԥснытәи ССР ахада Нестор Лакоба иахь ииҩыз асалам шәҟәаҿы Марр иазгәеиҭоит, Ареспубликаҿы хымԥада ишаԥҵатәу аҭҵаарадырратә лингвистикатә еилазаара.

«Аҭҵааҩцәа реилазаара рӷәӷәатәуп, еиҳаракгьы ауаҩи, абызшәеи, аепоси, афольклори, ажәлар рҳәамҭақәеи, рашәақәеи, рлакәқәеи, рҵас-қьабзқәеи уҳәа ирызку аҭҵаарақәа мҩаԥызго рыбжьара, аматериалтә культура абаҟақәа рыҭҵаара знапы алаку инараҟараны. Зынӡа ибзиахон (аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара АБНИ аԥҵан 1920 шықәсазы) аԥсуаҭҵааратә секциа иаарласны хыбрак азыԥшаазҭгьы, убраҟа абызшәадырратә, аетнографиатә, археологиатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы алабораториа еиҿкаазар», – ҳәа иҩуан Николаи Марр Нестор Лакоба иахь.[6]

1925 шықәса жьҭаарамза 11 рзы иаартын Абызшәеи алитературеи ракадемиа. Николаи Марр ари академиа аҳаҭыр хьӡы змоу ахантәаҩыс дҟалеит, аха убри аан, уи ахантәаҩыс дыҟан, иара убасгьы, Андреи Ҷоҷуа, уа аус руан еицырдыруаз аԥсуаа Дырмит Гәлиеи Константин Ковачи.

1912 шықәсазы аԥсуа бызшәа аҵара иалагаз Марр иусумҭақәа жәпакы аԥсуаҭҵаара иазикит: «Аԥсуаҭҵаареи аԥсуааи», «Ҩ-елементк рыла ишьақәгылоу аԥсуа ажәақәа рҟынтә», «Кавказҭҵаареи аԥсуа бызшәеи», «Амыругатәи аханатәтәи ападежқәа аԥсшәеи аҟабарда бызшәақәеи рҿы», «Адунеи амҽхак аҭаны абызшәадырра азҵаара ақәыргылареи аԥсуа бызшәеи», «Аҟәеи Тҟәаԥси».

1926 шықәсазы Марр иҭижьуеит «Аурыс-аԥсуа жәар», иара убас еиқәиршәеит алатын шьаҭа змаз аԥсуа аналитикатә алфавит, 77 нбан рыла ишьақәгылаз. Ари алфавит аамҭақәак рзы ахархәара аман, еицырдыруа арккаҩы, аԥсуа литература ауасхыршьҭаҵаҩ Дырмит Гәлиа дназлаз аԥсуа ҵарауаа гәыԥҩык уи маншәалам ҳәа ахырҳәаанӡа. Абри ицәырҵлоз егьырҭ аивгарақәеи рымшала Гәлиеи Марри реизыҟазаашьақәа аибарххара рыбжьалеит.[7]

Аҳаҭырқәҵара аҳаракыраҿы[аредакциазура | акод аредакциазура]

1920-тәии 1930-тәии ашықәсқәа рзы Николаи Иаков-иԥа Марр аителлигенциа ахаҭарнакцәа рыбжьара даара ҳаҭыр ду зқәыз уаҩын (иара убасгьы профессионалла алингвистика знапы алакыз рыбжьарагьы). Урҭ зегьы идиԥхьалон мҽхакыла иҭбааз игәаанагарақәа рыла, иқәиргылоз азҵаара ҿыцқәа, зегьы ирылубаауаз ихаҭара уҳәа рыла (марризм анырра даара иӷәӷәан Ленинград, иара дахьынхоз, егьырҭ аҵарадырратә центрқәа рҟны аасҭа).

Николаи Марр даара анырра ӷәӷәа риҭеит аӡәырҩы аетногенез, амифологиа, акультурологиа, алитератураҭҵаара апроблемақәа знапы алакыз, урҭ рыбжьара иара анырра ӷәӷәа лиҭеит О.М. Фреиденберг, лара лырҵаҩ иахь ус уҳәар ауазар, адинхаҵаратә цәаныррақәа лыман (анаҩс амарризм алингвистикаҿы ахыбгалара иахҟьаны, лара усурада даанхоит).

Еинштеини, Марри, Выготскии планс ирыман аҟазаратә ҵарадырратә лабораториа адкылара амеханизм, ижәытәӡатәиу «апрологиатә хдырреи» уи акинои амассақәеи ирнаҭо анырреи амыругақәа рыҭҵааразы.

Николаи Марр Петроград еиҿикаауеит Ифеттәи аинститут (1921), анаҩс уи Николаи Иаков-иԥа Марр ихьӡ зху абызшәеи ахәыцреи иринститутхеит (иахьазы Петербург иҟоу Урыстәыла Аҵарадырратә Академиа (РАН) алингвисттә ҭҵаарақәа Ринститут, насгьы Москва иҟоу Урыстәыла Аҵарадырратә Академиа (РАН) абызшәадырра Аинститут), 1926–1930-тәи ашықәсқәа рзы Марр аамҭаказы Ленинградтәи ашәҟәыԥхьарҭа адиректорсгьы дыҟан.

Хәажәкырамза 3, 1930 шықәсазы СССР ҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩс далхын, уи инаркны академиа агәырӷьаратә еилатәарақәа акыр рҟны хантәаҩра иуан. 1929 шықәса инаркны 1934-тәи ашықәсқәа рзы Урыстәыла еиҿкааз Палестинатәи Аилазаара ахантәаҩыс дыҟан. Ари аамҭа иаҵанакуа марристаа ркьыԥхьымҭақәа рҟны иара ихьӡ еснагь ажәақәа «идуӡӡаз», «ирылукаауаз» ацын, иара иоуеит акыр ҳаҭыр зқәу ахьӡ ҳаракқәа, «ҳаҭыр зқәу афлот ҟаԥшь» аҳаҭыртә хьӡы инаҷыданы. Иазгәаҭан, Марр ироль СССР амилаҭ маҷқәа рзы аҩыра аус инапы ахьалакыз (иуниверсалтәыз иара «ианалитикатә алфавит», уи аус адулан ареволиуциа ҟалаанӡа, ахархәарахьгьы иалагалан 1923 шықәсазы аԥсуа бызшәазы, аха аамҭак анаҩс иаԥыхын иахьыманшәаламыз азы), аха иҳәатәуп аҩыра аԥҵаразы аусқәа зегьы Марри уи иааигәа иҟази аламырхәӡакәаны ишымҩаԥысуаз.

Николаи Марр инаукатә усура 45 шықәса ахыҵра аан, раԥхьа иара Ленин иорден ианашьан (жьҭаарамза 17, 1933 шықәса), анаҩс иара ихҵан РСФСР зҽаԥсазтәыз анаука аусзуҩы ҳәа ахьӡ ҳаракы (ԥхынҷкәынмза 7, 1933 шықәса). Аха ари аиубилеи Марр ихаҭа далахәымызт, жьҭаарамза 1933 шықәсазы Николаи агәыхь ихигеит, уи ашьҭахь шықәсызаҵәык акәын иԥсы ахьҭаз, иусурахьгьы дзымгьежьит. Николаи Марр иԥсреи иԥсыжреи инарымаданы Ленинградтәи ашколқәа рҟны аҵара аанкылан, алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатәқәа даара инарҭбааны еиҿкаан. Марр иԥсра адырҩаҽны иаарласны еизганы иҭыжьын игәалашәара иазкыз аброшиура.

Николаи Марр анышә дамардеит Акоммунистцәа рдәаҿы (иахьа Аказакцәа рыԥсыжырҭа), Александр Невтәи Алавр аҟны. Марр иԥсра ашьҭахь, иара иҵаҩцәа (зегь раԥхьа иргыланы И. И. Мешьанинов), инаукатәымыз «аҵара ҿыц» наҟ иааныжьны, итрадициатәу аҵарадырра амҩала, Марр иқәиргылоз акыр азҵаарақәа рыӡбон (атипологиа, асинтаксис аҭҵаара, абызшәа апроблема уҳәа реиԥш иҟаз).[8]

Аҭынха[аредакциазура | акод аредакциазура]

Марр идунеихәаԥшра акыр акритика азыруан ақырҭуа еиҳабыра (А. Мгелаӡе). Марр иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, жәохә шықәса ааҵхьаны еиԥш, рашәарамза 20, 1950 шықәсазы иара иҵара аофициалтә критика азун абызшәадырра аҟны «аидеализм» азы. Иара иусумҭақәа адгылара рызҭоз И. В. Сталин ишьақәирӷәӷәон Н. Иа. Марр акыр иҽшазишәоз амарксистхара, аха амарксистра шилымшаз.

1956 шықәса анаҩс, Марр лингвистк иаҳасаб ала илшамҭақәа еиҭах рылацәажәара иалагеит, иазгәаҭан иара шиакәу изылшаз СССР акыр адисциплинақәа рыҿиара (атипологиа, асемантика), еиҭаҭыжьын кавказдырреи абаск бызшәеи ирызкыз иусумҭақәа, аха иааизакны Марр иусура алигвинстика аныԥшшьа ҽеимызт ҳәа иԥхьаӡан (даҽакала иуҳәозар, СССР уи адгылара амоуит).

Николаи Марр ихьӡ адҳәалоуп аурыс бызшәа алинвистика аҟны Марр ихыцқәа (‘’) ҳәа изышьҭаз, уи ала иазгәарҭоит ажәа аҵакы (ҿырԥштәыс иаагозар «афранцыз ажәа cheval ‘лошадь’»).[9]

Агәалашәара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Санкт-Петербург ақалақь аҿы Николаи Марр идамра

Аимператортә ҭҵаарадырратә академиа алахәыла, Аматериалтә культура аҭоурых аҳәынҭқарратә академиа адиректор, Петроград ақалақь аҟны Аиафет институт аԥҵаҩы (1921 ш.), Асовет Еидгыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада ихаҭыԥуаҩ – абри зегьы Николаи Марр изкуп. Иара иԥсҭазаара аӷьырак Петербург ихигеит, идунеи иԥсахит 1934 шықәса, ԥхынҷкәынмза 20 рзы.

Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа амҩадуқәа руак Николаи Марр ихьӡ ахҵоуп. Араҟа ибзианы иргәалашәоит, ҳаҭыр дулагьы иршьоит иара аԥсуа бызшәа гәцаракрыла дахьазнеиуаз, адунеи аҿы ижәытәӡатәу абызшәақәа инарываргыланы дахьахәаԥшуаз.

Николаи Марр иара иаамҭазы зегь реиҳа хьӡи-ԥшеи змаз мрагылараҭҵааҩцәа дыруаӡәкын. Иара еиҟараны дрызҿлымҳан ажәытә ақырҭуа ҭоурыхтә материалқәа реиԥш, ажәытә аерман материалқәагьы, аҳәаанырцәҟа маҵураныҟәарала данцоз аҭҵааратә аартрақәа ҟаиҵон, иаҳҳәап, Синаи, Египет даныҟаз, мамзар Ермантәыла ажәытә аҳҭнықалақь Ани аҟны, Иерусалим уҳәа. Кавказҭҵаара иазку иусумҭақәа даара рыхә ҳаракны иршьоит, урҭ рахьтә акыр аусумҭақәа классикатәуп ҳәа иԥхьаӡоуп, абызшәадырреи алингвистикеи рганахьала иусумҭақәа ус рзузымҳәозаргьы.[10]

Ахархәара змоу алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Аҩӡба У. Ш.. Аԥсуа биографиатә жәар (Абхазский биографический словарь). Москва, 2015. ад. 185.

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  1. "Академик Н. Я. Марр". Аԥснытека. Ириашоу 2024-02-02 шықәсазы.
  2. "Марр Николай Яковлевич". bioslovhist.spbu.ru (аурыс бызшәала). Ириашоу 2024-02-02 шықәсазы.
  3. "Николаи Марр: «ихагоу» абызшәатә теориа автор, аԥсуаҭҵааҩы". abaza.org. 2019-12-25. Ириашоу 2024-02-02 шықәсазы.
  4. "Марр Николай Яковлевич". persona.rin.ru (аурыс бызшәала). Ириашоу 2024-02-02 шықәсазы. Албаага: Поиск -> Маар
  5. "Сотрудники РНБ — деятели науки и культуры; Биографический словарь, т. 1-4 (электронная версия) – Марр Николай Яковлевич". Урыстәылатәи амилаҭтә библиотека (аурыс бызшәала). Ириашоу 2024-02-02 шықәсазы.
  6. "Марр, Николай Яковлевич". Академик. Ириашоу 2024-02-02 шықәсазы.
  7. "Марр Николай Яковлевич". biblioclub.ru (аурыс бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2023-11-03 ахь. Ириашоу 2024-02-02 шықәсазы.
  8. "МАРР НИКОЛА́Й Я́КОВЛЕВИЧ". histrf.ru (аурыс бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2018-06-15 ахь. Ириашоу 2023-11-03 шықәсазы.
  9. "Н.Я. Марр крупным планом: портреты разных лет". ranar.spb.ru (аурыс бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2023-03-22 ахь. Ириашоу 2023-11-03 шықәсазы.
  10. "Деятельность Н. Я. Марра на посту председателя государственной академии истории материальной культуры". cyberleninka.ru (аурыс бызшәала). Ириашоу 2024-02-02 шықәсазы.