Перейти к содержанию

Наполеон Бонапарт

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Наполеон I Бонапарт» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Наполеон Бонапарт
Napulione Buonaparte


Ахатәы хьӡы

Napulione Buonaparte,

Napoleone di Buonaparte
Аира нанҳәамза 15, 1769 ш.
Аяччо
Аԥсра лаҵарамза 5, 1821 ш.
Лонгвуд-Хаус
Аԥсра зыхҟьаз аца акьыба
Аԥсыжра аҭыԥ Ацқьа Лиудовик иныхабаа Аинвалидцәа рыҩны Анышәынҭра арха
Атәылауаҩра Франциа
Абызшәақәа

Афранцыз бызшәа,

акорсик бызшәа
Аԥҳәыс

Жозефина Богарне (1796 ш.–1809 ш.),

Австриатәи Мариа-Луиза (1810 ш.–1821 ш.)
Ацынхаҩы

Мариа Валевскаиа, Полин Фуре, Emilie Kraus von Wolfsberg, Elisabeth de Vaudey, Елеонора Дениуель де ла Плень, Джузеппина Грассини,

Альбина де Монтолон
Ани аби

Летициа Рамолино,

Карло Буонапарте
Ахәыҷқәа

Наполеон II, Шарль Леон, Александр Жозеф Флориан Колонна-Валевски, Оиген Мегерле фон Миульфельд,

Жиуль Бартелеми Сен-Илер
Ауацәа Елиза Бонапарт, Лиудовик I Бонапарт, Каролина Бонапарт, Полина Бонапарт, Жозеф Бонапарт , Лиусьен Бонапарт , Жером Бонапарт, ихьӡыдоу аԥҳа, Бонапарте (аишьцәеи аиаҳәшьцәеи), Камилло Боргезе (аԥшәма иашьа, ма аԥшәмаԥҳәыс лашьа), Стефаниа Богарне (ииааӡоз аԥҳа), Евгени Богарне (ииааӡоз аԥа), Наполеон III (иашьа иԥа)
Анхарҭа Ацқьа Елена лыдгьылбжьаха (1815 ш.–1821 ш.), Аиаччо (1769 ш.–1779 ш.), Париж (1792 ш.–1814 ш.), Ельба (1814 ш.–1815 ш.)
Алма-матер Арратә школ
Аусура

аполитик, аҳәынҭқарратә усзуҩы, афицар, арҿиамҭақәа реизгаҩ, аимператор, асуверен, арратә активист, ар рԥыза, аҳ,

ар рфицар
Адин акатоликра, адеизм
Анашьамҭақәа

Аслан аорден акавалер Виуртембергтәи агәыргьын орден Аиашара орден Серафимцәа рорден

Лиудвиг иорден
Анаԥынҵамҭа Анаԥынҵамҭа

Наполеон I Бонапарт (афр. Napoléon Bonaparte. [napoleˈɔ bɔnɑˈpaˈt], акорс. Napulione Buonaparte, аитал. Napoleone Buonaparte; нанҳәамза 15, 1769, Аиаччо, Корсикалаҵарамза 5, 1821, Лонгвуд, Ацқьа Елена лыдгьылбжьаха) — афранцызцәа римператор (афр. Empereur des Français) 1804 — 1814, 1815 ашықәсқәа рзы, иахьатәи афранцыз ҳәынҭқарра ашьаҭа зкыз аҳәынҭқарратә усзуҩы, ар рԥыза, Мраҭашәара [1] аҭоурых аҿы еиҳа иналукааша аусзуҩцәа дыруаӡәкуп.

Наполеоне Буонапарте (ус ихы иазиҳәон 1796 шықәсанӡа)[2] ипрофессионалтә арратә маҵзура хациркит 1785 шықәсазы артиллериа алеитенант еиҵбы ичын иманы. Афранцыз револиуциа Ду ашықәсқәа рзы, ԥхынҷкәынмза 18, 1793 шықәсазы, Тулон анырга ашьҭахь, абригадатә еинрал ичын иоуит. Вандемьер 13, 1795 шықәсазтәи ақәгылара ашьаҽраан ихадоу ароль анынаигӡа ашьҭахь, Адиректориаҿы адивизиатә еинралс, иара убас атыл арратә мчрақәа реиҳабыс дҟалеит. Хәажәкырамза 2, 1796 шықәсазы Италиатәи ар ркомандаҟаҵаҩыс дҟаҵан. 1798 — 1799 ашықәсқәа рзы Мсырҟа ицоз арратә експедициа напхгара аиҭон.

Абҵарамза, 1799 шықәсазы (Бриумер 18) аҳәынҭқарра еилаҩынтара мҩаԥигеит, актәи консулны дҟалеит. Анаҩстәи ашықәсқәа рзы аполитикатәи административтәи реформақәа мҩаԥганы, хәыҷы-хәыҷла адиктатортә мчра аҟынӡа днаӡеит.

Лаҵарамза 18, 1804 шықәсазы императорс дҟаҵан. Ақәҿиарақәа змаз Наполеон иеибашьрақәа, еиҳаракгьы 1805 шықәсазтәи Австриатәи акампаниа, 1806 — 1807 шықәсқәа рызтәи Пруссиатәии Польшатәии акампаниақәа,1809 шықәсазтәи Австриатәи акампаниа аконтинент аҿы Франциа аҳәынҭқарра хаданы аҟаҵара иацхрааит. Аха Наполеони «амшынқәа раҳкәажә» ҳәа изышьҭаз Британиа Дуи иманшәаламхаз реиндаҭлара ари астатус инагӡаны ашьақәнарӷәӷәара алнаршомызт.

Наполеон I Урыстәылатәи аимпериа данабашьуаз,1812 шықәсазтәи аибашьраан, данаҵаха, Европатәи аҳәынҭқаррақәа афранцызҿагыларатә коалициа шьақәдыргылеит. Наполеон Леипциг амҵан Ажәларқәа реибашьра данаҵаха, адгылаҩцәа еиду рыр шьҭа дзырҿагыломызт. Акоалициа рыр Париж ианалала ашьҭахь, мшаԥымза 6, 1814 шықәсазы, аимператор итәарҭа аанижьит, Ельба адгьылбжьахахь дахыргеит.

Афранцыз тәарҭахь дхынҳәит хәажәкырамза, 1815 шықәсазы (шәымш ҳәа). Ватерлоо аибашьраҿы данаҵаха, ԥхынгәымза 22, 1815 шықәсазы аимператор аҩынтә раангьы аҳра мап ацәикыр акәхеит.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Ацқьа Елена лыдгьылбжьахаҿы дынхон, англызцәа дытҟәаны дрыман, уаҟа ауп аца акьыба иахҟьаны иԥсҭазаара дахьалҵызгьы. Уи ибаҩ-ишаҩ 1840 шықәса раахыс Париж Аинвалидцәа рыҩны аҿы иҟоуп.

Ихадароу астатиа: Наполеон иҭаацәа

Наполеон диит 1769 шықәсазы нанҳәа 15 рзы, Корсика адгьылбжьахаҿы иҟоу Аиаччо ақалақь аҿы, Карло Мариа Буонапарти Мариа Летициа Рамолинои рҭаацәараҿы. Корсика акыр аамҭа Генуатәи Аҳәынҭқарра анапхгара аҵаҟа иҟан. 1755 шықәсазы Корсика Генуатәи аҳратәра аҟынтәи ахақәиҭра аиуит, убри аамҭа инаркны ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳасабала аҭыԥантәи адгьыл зтәыз Паскуале Паоли инапхгара аҵаҟа иҟан, уи ицхырааҩ гәакьа Наполеон иаб иакәын.

Карло Буонапарте. Жироде-Триозон (1806)

1768 шықәсазы Генуатәи Аҳәынҭқарра Корсика азинқәа Франциатәи аҳ Лиудовик XV 40 миллион ливр ҳәа инаҭеит. 1769 шықәса лаҵарамзазы Понте-Нуово аибашьраҿы Франциатәи ар Корсикатәи ақәгылаҩцәа ириааит. Паоли 340-ҩык ицнагаҩцәеи иареи Англиаҟа нхара ицеит. Наполеон иани иаби Корсика иаанхеит; иара ихаҭа диит абарҭ ахҭысқәа рышьҭахь хымз анҵы. Паоли 1790-тәи ашықәсқәа рҟынӡа иара изы дҿырԥшыганы дыҟан[3][4].

Буонапарте аҭаацәара аристократиа маҷ иреиуан; Наполеон иабдуцәа ҭоурыхла Флоренциа инхон, 1529 шықәса инаркны Корсика инхон. Наполеон иаб, Карло Буонапарте, аӡбаратә еилатәаҩыс аус иуан, насгьы амазаразы игәылацәа аӡбаратә ус рыҭаны, есышықәса 22,5-нызқь ливр иоуаз ахашәалахәы еизирҳарц иҽазишәон[5]. Наполеон иан, Мариа Летициа Рамолино, даара дыԥшӡан, амчхара лыман; Карлои лареи рҭаацәара аԥҵара еиҿыркааит рҭаацәа. Корсикатәи аҳәаақәеи амҩақәеи рзы зыԥсҭазаара иалҵхьаз аинспектор хада иԥҳа лаҳасабала, Летициа лхаҵа изаалгеит аихраҵага дуи асоциалтә статуси [6][7]. Наполеон 13-ҩык ахәыҷқәа рҟынтәи аҩбатәи иакәын, урҭ рахьынтә хәҩык ишыхәыҷқәаз рыԥсҭазаара иалҵит. Наполеон ихаҭа ида, ԥшьҩык иашьцәеи хҩык иаҳәшьцәеи рҭәымҭахь инеит[8]:

Аиразы аршаҳаҭгаҿы иаб ижәла "Буонапарте" ҳәа ишыҟазгьы, ахәыҷы "Бонапарте" ҳәа дҭаҩын. Иани иаби ирҭаз ахьӡ Наполеоне лассы-лассы иуԥыло иҟамызт: уи 1478 шықәсазы Никколо Макиавелли иҩымҭа «Флоренциа аҭоурых» аҿы иуԥылоит; убасҵәҟьа уи иабдуцәа руаӡәк ихьӡын[9].

Casa Buonaparte — Наполеон иҩны

Наполеон ихәыҷраамҭа иазкны иаҳдыруа маҷуп. Данхәыҷыз иара аимҳәа даргәаҟуан, иҟалап уи аимҳәаду акәын . Иани иашьа еиҳаби Жозеф изларҳәо ала, Наполеон ирацәаны даԥхьон, еиҳарак аҭоурыхтә литература. Аҩны ахԥатәи аихагылаҿы уада хәыҷык иԥшааит, уантәи лассы-лассы дылбаауамызт, аҭаацәаратә крыфарақәа бжьаижьуан. Наполеон ԥыҭрак ашьҭахь иҳәеит раԥхьаӡа акәны Руссо иҩымҭа «Елоиза Ҿыц» жәашықәса анихыҵуаз дшаԥхьаз. Аха, ас еиԥш иҟоу ихьысҳау аинтроверт ихаҿсахьа иақәшәом даныхәыҷыз "Troublemaker" ( аитал. «Rabulione» )[10] ҳәа ирҭаз ахьӡ ҷыда.

Наполеон ихатәы бызшәа Аиталиан бызшәа корсикатәи адиалект акәын. Иара аиталиан бызшәала аԥхьашьеи аҩышьеи иҵеит алагарҭатә школ аҿы, жәашықәса анихыҵуаз ауп афранцыз бызшәа аҵара даналага. Иԥсы ҭанаҵы аиталиантәи акцент ӷәӷәа иманы дцәажәон[10]. Карло Буонапартеи афранцызцәеи русеицуреи Корсика агубернатор аграф де Марбеф идгылареи рыбзоурала, Карло Буонапарте ҩыџьа иԥацәа Жозефи Наполеони рзы аҳратә стипендиақәа раиура илшеит. 1777 шықәсазы Карло Корсикатәи аамсҭцәа рҟынтәи Парижҟа депутатс далхын[11]. 1778 шықәсазы Версальҟа данцоз, ҩыџьа иԥацәеи, Екстәи асеминариаҿы астипендиа зауз иабхәында Фешгьы игеит. Жозефи Наполеони аамҭала Отион ақалақь аҿы иҟаз арратә лицеи иҭарҵеит, еиҳарак афранцыз бызшәа рҵарц азы[2][12]. Наполеон алицеи аҿы хымз ихигеит, убри аамҭа иалагӡаны иаб иҟаиҵеит Наполеон Бриенна ақалақь аҿы иҟаз акадеттә школ ахь диаргартә (Аҳратә стипендиа аиуразы аамысҭашәаратә хылҵшьҭра ашьақәырӷәӷәара аҭахын)[13].

Наполеон 16 шықәса анихыҵуаз (идырым автор амел еиқәаҵәала иҭихыз асахьа)

Лаҵарамза, 1779 шықәсазы Наполеон Бриенн-ле-Шато ақалақь аҿы иҟаз акадеттә школ (аколлеџь) дҭалеит [12]. Наполеон аколлеџь аҿы аҩызцәа имамызт, избан акәзар иара иҭаацәара рацәак ибеиамызт, ихатәрамызт, уи адагьы иара дпатриот дуун, насгьы Корсика атәтәҩцәа раҳасабала афранцызцәа ргәаӷ икын. Италиатәи ихьӡ иахҟьаны, иқәлацәа "Аԥынҵа иҭоу ачаз" ҳәа ихьӡырҵеит ( афр. La-paille-au-nez ). Иҩызцәа шьоукы аҵәы иахьилырхуаз иахҟьаны, иара иҽыԥхьеикит, аԥхьара еиҳаны аамҭа иазикыр акәхеит. Иара дрыԥхьон Корнеил, Расин, Вольтер, зегь реиҳа бзиа иибоз апоет Оссиан иакәын[14]. Наполеон еиҳарак аматематикеи аҭоурыхи бзиа ибон, антикатә аамҭақәеи, Александр Ду, Иули Цезарь реиԥш иҟоу аҭоурыхтә хаҿсахьақәеи дрызҿлымҳан. Наполеон аматематика, аҭоурых, агеографиа рҿы ҷыдала ақәҿиарақәа иоуит; аха алаҭын бызшәеи агерман бызшәеи рҿы дыԥсыҽын . Уи адагьы, аҩраҿы агхақәа рацәаны ҟаиҵон, аха аԥхьара бзиа иахьибоз иабзоураны, истиль акырӡа еиӷьхеит. Рҵаҩцәақәаки иареи рыбжьара аимак-аиҿак иқәлацәа рыбжьара деицырдыруа дҟанаҵеит, насгьы хәыҷы-хәыҷла урҭ рнапхгаҩыс дҟалеит[2][15][16].

Бриенна даныҟаз Наполеон иӡбеит артиллериа дазҟазахарц. Ари арратә ҟәшаҿы иматематикатә баҩхатәра ихәон, насгьы ара ихылҵшьҭра иахьмырԥшыкәа акариеразы алшара дуқәа иоуан. Аушьҭратә ԥышәарақәа аниҭи ашьҭахь, жьҭаарамза 1784 шықәсазы Наполеон Парижтәи арратә школ даанахәеит[2][16][К 1]. Уаҟа иара иҵон аматематика, аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа, аҽықәтәашьа, арратә техника, атактика, иара убас Гибери Грибовали русумҭақәа дрыԥхьеит. Паолии Корсикеи џьашьахәыс иахьыҟаиҵоз, насгьы Франциа иахьицәымӷыз рыла ирҵаҩцәа иршанхон[18]. Иара дзаҵәын, аҩызцәа имамызт, аха аӷацәа иман. Наполеони Пиккар де Фелиппои рыбжьара итәаз Пико де Пикадиу иҭыԥ аҟынтәи дыбналеит, избан акәзар имаӡаз реиқәԥарақәа раан иара еснагь иқәшәон[16].

Иааидкыланы Наполеон Корсика дыҟамызт аа-шықәса раҟара. Франциа аҵара ахьиҵоз иахьҟьаны дыфранцызны дҟалеит — дшыхәыҷыз арахь нхара диасит, насгьы акыр шықәса ара ихигеит, усҟантәи аамҭазы Франциатәи акультуратә нырра Европа иалалеит, насгьы ишьақәгылоз афранцызтә хаҭара даараӡа иугәаԥхаратәы иҟан [19].

Наполеон 1792 шықәсазы. Феликс-Эмманиуель-Анри Филиппото ипортрет (1834)

1782 шықәсазы Карло Мариа Буонапарте амжәаҵлақәа рааӡарҭа аартразы аконцессиеи акралтә гранти иоуит (афр. pépinière). Хышықәса рышьҭахь Корсика апарламент аконцессиа архынҳәит уи аилаӡарақәа рынамыгӡара ҽыҵгас иҟаҵаны. Буонапарте рҭаацәара ауал рықәны иаанхеит, уи адагьы агрант дырхынҳәыр акәын[5][20]. Жәабранмза 24, 1785 шықәсазы раб иԥсҭазаара далҵит.[21][12] Аԥҟара ишаҳәо ала, аҭаацәара реиҳабыс дҟалар акәын аиашьа еиҳабы Жозеф, аха Наполеон уи ихахьы игеит. Цәыббрамза 28 рзы иара аҿҳәараанӡа иҵара хиркәшеит, абҵарамза 3 рзы Валанс иҟаз артиллериатә полк де Ла Фер аҿы артиллериа алеитенант еиҵбы ичын иманы изҟазаратә кариера хациркит[2] (афицартә патент иамҭаарбан цәыббрамза 1 азы, ачын шьақәырӷәӷәан ажьырныҳәамза 10, 1786 шықәсазы хымзтәи аԥышәаратә ҿҳәара ашьҭахь)[22][23].

Ааӡарҭа иадҳәалаз аӡбаратә усқәеи ахарџьқәеи аҭаацәара зынӡа ихдырҵәеит. Цәыббрамза, 1786 шықәсазы Наполеон аулафахәы еиқәырханы аԥсшьара даҳәеит, анаҩс иара иҟаиҵаз аҳәарала аԥсшьара ҩынтә иацҵан[12]. Аԥсшьараан Наполеон иҭаацәара русқәа рҭыԥ иқәиҵарц даҿын, иара убас Парижҟагьы дцон[5][К 2]. Рашәарамза, 1788 шықәсазы аррамаҵурахьы дхынҳәуеит, иполк ахьиаргаз Осон дцоит. Иан длыцхраарц азы иулафахәы хәҭак илзынаишьҭуан. Даараӡа дӷарны дынхон, мышкахьы знык акрифон, аха иматериалтә ҭагылазаашьа шбааԥсыз инирԥшуамызт[2]. Иара убри ашықәс азы Наполеон иҽазишәеит аулафахәы бзиа зшәоз, Османтәи аимпериа иабашьразы аҳәаанырцәтәи хатәгәаԥхарауаа еизызгоз Аурыс императортә ар иатәыз афицартә маҵзура аҽҭаҩра. Аха уи аԥхьа иааиз ақәҵара ишаҳәоз ала, аҳәаанырцәуаа анрыдыркылоз рчын ладырҟәуан, уи Наполеон игәамԥхеит[26]. Наполеон 1789 шықәсазы ари аҩыза аҳәара шыҟаиҵахьаз, насгьы хыхь иазгәаҭоу иреиԥшу амзызқәа ирыхьҟьаны мап шацәикыз атәы зҳәо аршаҳаҭга ыҟоуп. Ари азҵаара ҭызҵаауаз П. Шереметев Наполеон аурыс маҵзура далалар шиҭахыз атәы зҳәо ииашоу дыррақәа изымԥшааит, аха иҟоу аршаҳаҭгақәа рышьаҭала ус иҟазҭгьы алшон ҳәа иԥхьаӡоит[27].

Мшаԥымза, 1789 шықәсазы Наполеон акомандаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩ иаҳасабала Сиор ахь ддәықәҵан амлакра иахҟьаз абунт аанкыларазы[28]. Ԥхынгәымзазы, Бастилиа агарала иалагаз афранцыз револиуциа Наполеон корсикатәи ахақәиҭреи афранцыз хаҭареи рыбжьара акы алихыртә ҟанаҵеит. Ус шакәызгьы, усҟан ааӡарҭа иадҳәалаз апроблемақәа еиҳа дрызхәыцуан имҩаԥысуаз аполитикатә ԥсахрақәа раасҭа[29]. Наполеон ақәгыларақәа раанкылара дшалахәызгьы, Аконституциа аҩызцәа реилазаара раԥхьатәи адгылаҩцәа дыруаӡәкын. Аиаччо иашьа Лиусьен иакобинаа рыклуб далалеит. Нанҳәамза, 1789 шықәсазы Буонапарте ичымазара иахҟьаны ҩаԥхьа аԥсшьара аниоу, иԥсадгьыл ахь дцеит, уаҟа жәаа мзы дыҟан, иашьцәеи иареи ареволиуциатә мчқәа ирыдгыланы аҭыԥантәи аполитикатә қәԥара активла иалахәын. Аԥҵаратә еизара адепутат Саличеттии Наполеони Корсика Франциа адепартаментны аҟаҵара иадгылеит. Иалцаны иҟаз Паоли еиликаауан уи Франциа амчра еиҳагьы ишыӷәӷәанатәуаз, убри аҟнытә даҿагылон[30]. Ԥхынгәымза, 1790 шықәсазы Паоли адгьылбжьахахь дхынҳәны Корсика Франциа аҟынтәи ахы иақәитәхарц азы аусқәа рымҩаԥгара далагеит. Буонапарте аҭаацәара ареволиуциатә мчра хадақәеи, Корсика ауааԥсыра ирылаҵәаны иҟамыз ауахәаматә мазара амилаҭтәра ирықәшаҳаҭын[31].

Наполеони уи иашьа Луии Осон ианыҟаз. Асахьаҭ. Жак де Бревиль (1910)

Жәабранмза, 1791 шықәсазы Наполеон иашьеиҵбы Луи диманы амаҵзурахьы дхынҳәит (иашьа иҵаразы Наполен иулафахәы аҟынтәи аԥара ишәон, Луи адашьмаҿы дыцәалар акәхон). Рашәарамза 1, 1791 шықәсазы алеитенант ичын иоун (мшаԥымза 1 инаркны астаршинра иоуит), Валансҟа диаргеит[32][33]. Иара убри ашықәс, нанҳәамзазы Корсика дцарц азы ҩаԥхьа аԥсшьара иоуит (ажьырныҳәамза 10, 1792 шықәсанӡа дыхнымҳәыр, ддезертирны дыԥхьаӡахоит ҳәа еибыҳәаны ԥшьымз аамҭа ирҭеит)[34]. Наполеон Корсика даннеи, дырҩегьых аполитика иҽеиҭеит, ишьақәгылоз Амилаҭтә гвардиаҿы подполковникеиҵбыс дҟалеит[К 3]. Валансҟа иара уаҳа дыхнымҳәит. Паолии иареи аимак анроу, лаҵарамза, 1792 шықәсазы Париж арратә министррахь дцеит. Рашәарамзазы акапитан ичын иуоит (аха Наполеон Амилаҭтә гвардиаҿы иоуз аполковникеиҵбы ичын шьақәдырӷәӷәарц иҭахын). Цәыббрамза, 1785 шықәса инаркны цәыббрамза, 1792 шықәсанӡа Наполеон иааидкыланы ԥшьышықәса раҟара ԥсшьара дыҟан[23]. Наполеон шаҳаҭс дрыман рашәарамза 20, нанҳәамза 10, цәыббрамза 2 рзы Париж имҩаԥысуаз ахҭысқәа, акрал иахҳәара дадгылан, аха акрал иԥсыҽреи уи ихьчаҩцәа рлак-ҩакреи шигәамԥхоз атәы иҳәон[36].

Жьҭаарамза, 1792 шықәсазы Наполеон Корсикаҟа дхынҳәит Амилаҭтә гвардиа аполковникеиҵбы инапынҵақәа рынагӡаразы[37]. Буонапарте раԥхьаӡатәи иеибашьратә ԥышәа  — Сардинтәи акралра иаҵанакуаз адгьылбжьахақәа Маддаленеи Санто-Стефанои рахь ицоз аекспедицақәа жәабранмза, 1793 шықәсазы. Корсика аҟынтәи иӡхыҵыз адесант ирласӡаны иԥыххаа иқәҵан, аха ҩ-бзарбзанки амортиреи рыла ишьақәгылаз артиллериатә батареиа хәыҷы напхгара азҭоз акапитан Буонапарте далкаахеит: иара илшоз зегь ҟаиҵеит абзарбзанқәа реиқәырхаразы, аха уеизгьы урҭ аҟәараҿы иаанрыжьыр акәхеит[12][38].

1793 шықәсазы Паоли Аконвент аҿаԥхьа ахара идҵан Корсика ареспубликатә Франциа аҟынтәи ахьыԥшымра аиурц дахьашьҭаз азы. Ахарадҵарақәа дрылахәын Наполеон иашьа Лиусьен. Аҵыхәтәан Буонапарте рҭаацәареи Паолии зынӡа еибаргәааит. Буонапарте рҭаацәара Корсика инагӡоу ахақәиҭтәра иазкыз Паоли икурс иаахтны иаҿагылеит. Рашәарамза, 1793 шықәсазы аполитикатә шәарҭара иахҟьаны, ҭаацәаныла Франица нхара ииасит[12]. Иара убри амзазы Паоли Георг III Корсика акрал иоуп ҳәа ирылеиҳәеит [39].

Наполеон Ареволиуциатә Италиатә ар, анаҩс Алада ар рҿы амаҵзура иоуит. Рашәарамза анҵәамҭазы иара иҩит иакобинра зныԥшуаз, Аконвет акомиссарцәа Саличетии Робеспьер иашьеиҵби рыбзоурала иҭыжьыз апамфлет «Уаххьа Боккер аҿы» (афр. «Le Souper de Beaucaire»). Уи апамфлет иахҟьаны автор ареволиуциатә гәалаҟазаарақәа имоушәа агәаанагарақәа цәырҵит[40][41].

Наполеон Тулон даныҟаз. Асахьаҭ. Е. Детаиль (XIX век)

Англызцәеи ароиалистцәеи Тулон иаанкыланы ирыман. Тулон амацәаз иҭакны измаз ар рахь днеит Бонапарт цәыббрамза, 1793 шықәсазы. Жьҭаарамзазы абаталион аиҳабы ичын иоуит (амаиор ичын иақәшәон). Тулон даныҟаз аԥхҭра ачымазара ихьит. Ари ачымазара акыршықәса даргәаҟуан[42][К 4]. Артиллериа аиҳабыс иҟаҵаз Бонапарт, ԥхынҷкәынмзазы арратә операциа шьахә мҩаԥигеит. Тулон ргеит, иара ихаҭа 24 шықәса анихыҵуаз Аконвент акомиссарцәа рҟынтәи абригадатә еинрал ичын иоуит. Ачын ҿыц иоуит ԥхынҷкәынмза 22, 1793 шықәсазы. Жәабранмза, 1794 шықәсазы Аконвент уи ишьақәнарӷәӷәеит[12][2].

Жәабранмза 7 рзы Италиатәи ар артиллерист хадас даныҟарҵа, Наполеон Пьемонт акралра иаҿагылаз хәымчыбжьтәи акампаниа далахәын, Италиатәи ар аиҳабацәеи аибашьратә хҭысқәа ртеатри драбадырит, Арратә министррахь ажәалагалақәа ишьҭит Италиа ажәылара аиҿкааразы[2]. Корсикаҟа арратә експедициа аиҿкааразы Наполеон лаҵарамза алагамҭазы Ниццеи Антиби дхынҳәит. Усҟан Наполеон аба, асапын зҭиуаз, зыԥсҭазаара иалҵхьаз амиллионер иԥҳа, жәаф шықәса зхыҵуаз Дезире Клари длеиҽырбо далагеит. Нанҳәамза, 1794 шықәсазы Дезире лаҳәшьа еиҳабы Жозеф Буонапарте диццеит. Лара изаалгеит 400-нызқь ливр (убри алагьы Буонапарте аҭаацәара рфинанстә уадаҩрақәа рыӡбеит)[45].

Термидориантә аарҳәра ашьҭахь Бонапарт Робеспьер еиҵбы дахьидҳәалаз азы дҭаркит (нанҳәамза 9[К 5], 1794 шықәсазы, ҩымчыбжь дҭакын)[49]. Ихы данақәиҭыртә ашьҭахь Паолии абританцәеи Корсика рымихырц азы иҽазыҟаҵара ациҵеит. Хәажәкырамза 3 (даҽа дыррақәак ишырҳәо ала 11 рзы), 1795 шықәсазы Наполеон 15 ӷбеи 16 900-ҩык асолдаҭцәеи рыла ишьақәгылаз аекспедициа даланы Морсель аҟынтәи ддәықәлеит, аха абританиатә ескадра арҭ аӷбақәа ирласны ириааит[50][51].

Ааԥын, иара убри ашықәс азы Вандеиаҟа ддәықәырҵеит ақәгылаҩцәа раанкыларазы. Париж даннеи, лаҵарамза 25 рзы, Наполеон идырит дартиллеристны дшыҟаз аршьаҟауаа ркомандаҟаҵаҩыс дшыҟарҵаз. Наполеон ари дақәшаҳаҭымхеит игәамбзиарақәа мзызс иҟаҵаны[51]. Рашәарамзазы Дезиреи иареи еилыҵит. Е. Робертс игәаанагарала, ари зыхҟьаз дара рҭаацәараҿы Буонапарте аӡәы дазхоит ҳәа изыԥхьаӡоз лан лнырра ауп[52]. Наполеон аулафахәы абжа иоуан, аха арратә министр Карно ашәҟәқәа изиҩуан Италиатәи ар иазкны. Ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ҳәа акгьы анимамзы, Ост-Индиатәи аилахәыра амаҵзура аҭаларагьы дазхәыцуан. Иара аамҭа рацәаны иман, убри аҟнытә даҭаауан «Акафе де лиа Режанс», уа иара гәахәа дула ашахмат дасуан[53]. Нанҳәамза, 1795 шықәсазы ичымазара ашьақәырӷәӷәаразы арратә министрра иднаҵеит амедицинатә комиссиа дахысырц. Иполитикатә дгылаҩцәа рыцхыраарала Наполеон Ауаажәларратә еиқәырхара акомитет[47][2] атопографиа аҟәшаҿы амҵура иоуит, усҟантәи аамҭазы уи афранцыз ар рыштаб ароль инанагӡон. Цәыббрамза 15 рзы иара аинралцәа рсиа далхын Вандеиаҟа ацара мап ахьацәикыз азы, аха ирласны деиҭашьақәдыргылеит[54][55].

Ақәгылаҩцәа ац. Рох иуахәама абарҵаҿы абзарбзанқәа рыла икыдҵан иршьуеит. Ш. Монне (XIX век)

Атермидорианцәа рзы иуадаҩыз аамҭазы Баррас Наполеон иара ицхырааҩыс дҟаиҵеит, насгьы Наполеон далкаахеит жьҭаарамза 5, 1795 шықәсазы Париж имҩаԥысуаз ароиалисттә қәгылараҿы (Наполеон аҳҭнықалақь амҩақәа рҿы ихы иаирхәеит артиллериатә маскьаҭқәа), адивизиатә еинрал ичын иоуит, атыл ар реиҳабыс дҟаҵан[47][2]. 1785 шықәсазы алеитенант еиҵбы ичын иманы Парижтәи арратә школ иалгаз Буонапарте 10-шықәса рыҩнуҵҟала арратә чынқәа зегьы иоуит.

Хәажәкырамза 9, 1796 шықәса, асааҭ 10 рзы Буонапарте официалла ашәҟәы иҭагаламкәа ԥҳәысс дигеит аԥҳәысеиба Жозефина, уи лхаҵа, аграф Богарне, иакобинтә террор аан дыршьит, иара убас лара Франциа усҟантәи ахада Баррас ицәыбза лакәын. Ачараҿы шаҳаҭцәас иҟан Барасс, Наполеон иадуитант Лемаруа, Тальен хаҵеи ԥҳәси, аҭаца лхәыҷқәа — Евгении Гортензиеи. Амаҳә амаҵура ҿыц ахьиоуз иахҟьаны ачара ҩ-сааҭк дагхеит[56]. Шьоукы ргәаанагарала, Барасс аинрал қәыԥш ҳамҭас ииҭеит Италиатәи ареспублика ар реиҳабы иҭыԥ (амаҵура ирҭеит хәажәкырамза 2[2][41], 1796 шықәсазы), аха уи аҭыԥ Наполеон иҭара ҳәа ажәалагала Карно иоуп иҟазҵаз[12]. Хәажәкырамза 11 рзы Наполеон ар рахь ддәықәлеит. Амҩан Жозефина лахь ииҩуаз асалам шәҟәаҿы ижәлаҿы анбан «у» (u) бжьаижьит, убри алагьы аиталиан «Буонапарте» (Buonaparte) афранцыз «Бонапарт» (Bonaparte) еиԥш иҟаиҵеит. Убас иара инаҵшьны иазгәеиҭеит италиатәреи корсикантәреи раасҭа афранцызра еиҳа аԥыжәара шаиҭо[57].

Италиатәи акампаниа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Италиатәи акампаниа (1796—1797)
Антуан Жан Гро. Наполеон Бонапарт Арколтәи ацҳаҿы (1796—1797)

Бонапарт ар реиҳабыс даныҟала, ар иуадаҩу аматериалтә ҭагылазаашьа иҭагылан. Аулафахәы ршәомызт, амунициеи аҭаҵәахқәеи шамахамзар ирырҭомызт. Наполеон ар рзы афатәи амаҭәақәеи аазгоз дреисны, маҷк иадамхаргьы арҭ апроблемақәа иӡбеит, аха иара еиликаауан аӷа иҵакырадгьыл ахь ишиастәу, убри алагьы ар реиқәыршәара шеиҿкаатәу[58].

Бонапарт иоперациатә план шьаҭас иаиуит ажәыларақәа рыласреи акордонтә стратегиа иқәныҟәоз, зыр еиҟарамкәа еиҵызхыз аӷацәа ирҿагыланы амчқәа реизакреи. Иара ихаҭа «агәҭантәи апозициа» ҳәа изышьҭоу астратегиа дықәныҟәон, уи аан идивизиақәа уахыки-ҽнаки рыла еиқәшәар рылшон[59]. Наполеон ир шмаҷызгьы, иара ир еидикылон ихадоу аидысларақәа рзы, убри алагьы хыԥхьаӡарала аԥыжәара иоуан[60][61]. Мшаԥымза, 1796 шықәсазы Монтенотте акампаниа аан ажәылара лас абзоурала иара илшеит сардинтәи аинрал Коллии австриатәи аинрал Больиои рыр реиҟәыҭхареи риааиреи[62][61].

Сардинтәи акрал афранцызцәа рықәҿиарақәа дрыцәшәеит. Убри аҟнытә мшаԥымза 28 рзы дара аинышәара рыбжьарҵеит, уи алагьы Наполеон қалақьқәак инапы аҵаҟа иҟалеит, иара убас ихы дақәиҭны аӡиас По арразы алшара иоуит. Лаҵарамза 7 рзы иара ари аӡиас дырит, лаҵарамза анҵәамҭанӡа австрицәа Аҩадатәи Италиа абжеиҳарак иахьаҵанакуа иалицеит. Пармтәии Модентәии агерцогцәа ирыдырцалеит аԥара рацәала иаахәаз аинышәара рыбжьарҵарц; Милангьы 20 млн франк иҟоу аконтрибуциа ду ашәеит[63][61]. Римтәи папа идгьылқәа афранцыз ар рыла иҭәын; иара ихаҭа 21 млн франк инаӡоз аконтрибуциа ишәар акәхеит, иара убас афранцызцәа хыԥхьаӡара рацәала аҟазара арҿиамҭақәа риҭар акәхеит[61].

Наполеон Парижынтәи данца инаркны Жозефина илзынаишьҭуан ирацәаӡаны асалам шәҟәқәа, длыҳәон иара иахь днеирц. Аха убри аамҭазы Жозефина Париж дахьыҟаз дылгәаԥхеит афицар қәыԥш Иполлит Шарль. Жозефина асалам шәҟәқәа рҿы илыҩуан лцәалтәымкәа дахьыҟоу иахҟьаны дышзымнеиуа, лаҵарамза анҵәамҭазы лара зынӡа аҭак аҟаҵара даҟәыҵит, убри алагьы даара Наполеон игәы калыжьит. Аҵыхәтәаны, рашәарамзазы Жозефина Ипполит Шарль, Жозеф, Жиуно дрыцны Италиа дцеит[64]. Аха арҭ ахҭысқәа Наполеон ар напхгара рзиуратәы иԥырхагамхеит, избанзар ибаҩхатәрақәа ируакын ихатә проблемақәеи изҟазатә усқәеи реиҟәыҭхара: «Сара иашьыкк асыркуеит, егьи аасыртуеит»  — иҳәон иара[65].

Австрицәа рнапаҿы иаанханы иҟаз Мантуиа абааи Милана ахырӷәӷәарҭеи заҵәык ракәын. Мантуиа амацәаз иҭакын рашәарамза 3 рзы. Рашәарамза 29 рзы Милантәи ахырӷәӷәарҭа ргеит[2]. Тирольнтәи иааз Вурмзер австриатәи ир ҿыц аусқәа рзырҽеиуамызт; дара акырынтә ианыманшәаламха ашьҭахь Вурмзер амацәаз аҭакра аҟынтәи ахы иақәиҭитәырц дызҿыз Мантуи абаа аҿы иара ихаҭеи ир рыхәҭаки рҽыҩнаркыр акәхеит. Абҵарамзазы Италиаҟа идәықәҵан Альвинции Давидовичи напхгара зырҭоз ар ҿыцқәа. Абҵарамза 15-17 рзы Аркол имҩаԥысуаз аидысларақәа раан Альвинци дхьаҵыр акәхеит[66]. Наполеон афырхаҵара ааирԥшит, абираҟ кны Арколтәи ацҳаҿы ажәыларақәа руак данахагыла. Наполеон идиутант Миурон иара ихьчаразы ихы ақәиҵеит[16].

Бонапарт Риволи имҩаԥысуаз аибашьраҿы даныҟаз. Филиппото (1845)

Ажьырныҳәамза 14 — 15, 1797 шықәсазы Риволи имҩаԥысуаз аибашьра ашьҭахь австрицәа ацәыӡ дуқәа роуны Италиа зынӡа иалцан. Ачымазара ӷәӷәақәеи амлакреи иахьыҟаз Матуиа, аҭагылазаашьа цәгьахеит, жәабранмза 2 рзы Вурмзер аӷацәа иҽриҭеит. Жәабранмза 17 рзы Бонапарт Вена ддәықәлеит. Иԥсыҽхахьаз австрицәа рыр уажәшьҭа иара иҿагылара рылшомызт. Мшаԥымза алагамҭазы афранцызцәа Австриа аҳҭнықалақь аҟынтәи 100 километрак инацәыхараны акәын иахьыҟаз, аха Италиатә ар рымчқәагьы кәадахахьан. Мшаԥымза 7 рзы аинышәара рыбжьарҵеит, мшаԥымза 18 рзы Леобен аҭынчратә еиҿцәажәарақәа иалагеит[66][12].

Аҭынчратә еиҿцәажәарақәа цонаҵы, Бонапарт Адиректориа изынанашьҭуаз абжьгарақәа ҳасаб рзымукәа ихатә арратәи административтәи цәаҳәа мҩаԥигон. Мшаԥымза 17 рзы Верона иалагаз ақәгылара ҽыҵгас иҟаҵаны, лаҵарамза 2 рзы Венециа аибашьра рылеиҳәеит, лаҵарамза 15 рзы атәыла далалеит. Рашәарамза 29 рзы Ломбардиеи, Мантуи, Моденеи, насгьы егьырҭ еидҳәалоу дгьылқәаки рыла еиқәыршәоу Цизальпинтәи ареспублика ахьыԥшымра азхеиҵеит; иара убри аамҭазы Лигуриатәи ареспублика ҳәа иахьӡырҵаз Генуиа рымпыҵархалеит[12]. Амеханимзмқәеи апропагандеи инарҵауланы рдырраҿы иҟазара аарԥшны, Наполеон ир риааирақәа методикала ихы иаирхәон аполитикатә капитал аԥҵаразы. Рашәарамза 17 рзы иҭыҵуа иалагеит «Италиатәи ар ркурьер», уи ашьҭахь «Франциа Италиатәи ар рыблала», «Бонапарти агәыҳалалра злоу ауааи ржурнал» ҭыҵит. Арҭ агазеҭқәа ар рҿы мацара акәымкәа, Франциагьы инарҭбааны ирылаҵәон[12][67].

Наполеон ииааирақәа ирылҵшәаны арратә мазара ду иоуит, уи дамеигӡакәа исолдаҭцәа рыдагьы иҭаацәа ирзишон, ихазгьы иаанижьуан. Аԥарақәа рыхәҭак зфинанстә ҭагылазаашьа уадаҩыз Адиректориа иазынашьҭын. Наполеон Пишегриу ичарҳәра ахьааирԥшыз, насгьы Ожеро Париж дахьдәықәиҵаз рыла фриуктидор 18 (цәыббрамза 3— 4) рзы имҩаԥысуаз ахҭысқәа раан Адиректориа арратә цхыраара аиҭеит. Жьҭаарамза 18 рзы Кампо-Формио Австриеи дареи аҭынчра рыбжьарҵеит, Актәи акоалициа реибашьра еилгеит. Франциа аиааира агеит. Аинаалара анапаҵаҩраан Наполеон зынӡаск дазхьамԥшит Адиректориа рпозициа, аиқәшаҳаҭра иара ишиҭахыз аратификациа азырур акәхеит[41][12]. Ԥхынҷкәынмза 5 рзы Наполеон Франциаҟа дхынҳәит, Париж нхара далагеит иара ихьӡала Аиааира (афр. Rue de la Victoire) ҳәа иахьӡырҵаз амҩаҿы. Наполеон 52,4-нызқь франк ҳәа аҩны ааихәеит, Жозефина уи арԥшӡаразы даҽа 300-нызқь франк нылхит[68].

Ихадароу астатиа: Мсыртәи аныҟәара
Наполеон Мсыр даныҟаз. Жером (1867)
Бонапарт Сфинкс аҿаԥхьа. Жером (1868)
Ԥхынгәымза 21, 1798 ш. апирамидақәа рааигәара ицоз аибашьра. Лежен (1808)
Наполеон Иаффе даныҟаз амырза зыхьыз ачымазцәа рбара даннеи. Гро (1804)
Мальмезон

Италиатәи акампаниа иалҵшәаны Наполеон Франциа ахьӡ-аԥша ду иоуит. Ԥхынҷкәынмза 25, 1797 шықәсазы иара афизикеи аматематикеи рыкласс ала Аҭҵаарадыррақәеи аҟазареи рмилаҭтә институт амеханика асекциа лахәылас далхын[23][К 6]. Ажьырныҳәамза 10, 1798 шықәсазы Адиректориа Англиатәи ар реиҳабыс дҟанаҵеит. Наполеон Британиатәи адгьылбжьахақәа рахь аӡхыҵразы аекспедициатә мчқәа еиҿикаауеит ҳәа азԥхьагәаҭан. Аха ақәыларатә мчқәа ринспекциеи аҭагылазаашьа анализ азуреи рышьҭахь, Наполеон аӡхыҵра нагӡашьа амам ҳәа иԥхьаӡаны Египет ампыҵахалара аплан ықәиргылеит, уи аплан Индиа иҟаз Британиатәи апозициақәа ржәылараҿы акрызҵазкуа ԥыԥшырҭаны дахәаԥшуан. Хәажәкырамза 5 рзы Наполеон аекспедициа аиҿкааразы иԥкым-азин иоуит[70], активла аҽазыҟаҵара далагеит[К 7]. Александр Ду мрагыларатәи иныҟәарақәа раан аҵарауаа шицыз игәалашәо, Наполеон 167-ҩык агеографцәеи, аботаникцәеи, ахимикцәеи, егьырҭ аҭҵаарадыррақәа рхаҭарнакцәеи иманы дцеит (урҭ рахьынтә 31-ҩык Аинститут алахәылацәа ракәын)[72][73].

Апроблема дуны иҟан Нельсон напхгара зиҭоз Британиатәи акралра афлот аескадра Адгьылбжьаратә мшын иахьалалаз. Аекспедициатә ар (35-нызқьҩык) маӡала Тулон аанрыжьит лаҵарамза 19, 1798 шықәсазы, Нельсони дареи реиԥылара рҽацәырыхьчаны фымчыбжь рыла Адгьылбжьаратә мшын ирит[12].

Наполеон раԥхьатәи хықәкыс иқәиргылеит Мальта — Мальтатәи аорден иахьыҟоу аԥшаара. Рашәарамза, 1798 шықәсазы Мальта анырга ашьҭахь Наполеон адгьылбжьахаҿы ԥшь-нызқьҩык рыла ишьақәгылаз агарнизон ааныжьны афлот иманы Мсырҟа ддәықәлеит[2].

Ԥхынгәымза 1 азы Наполеон ир Александриа азааигәара аӡхыҵра иалагеит, адырҩаҽны ақалақь рымпыҵархалеит. Ар Ҟаирҟа идәықәлеит. Ԥхынгәымза 21 рзы афранцыз ари мамелиукаа раԥхьагылаҩцәа Мурад-беии Ибрагим-беии еизыргаз ари еиԥылеит, апирамидақәа рааигәара аибашьра ҟалеит. Атактикеи арратә ҽазыҟаҵареи рҿы аԥыжәара ду ахьрымаз иабзоураны, афранцызцәа ацәыӡ маҷқәа рыманы мамелиукаа рыр иԥыххаа иқәырҵеит[2].

Ԥхынгәымза 25 рзы Наполеон идиутант иамхаҳәаз абзоурала Наполеон еиликааит акыраамҭа Париж ауаажәларра уҳәан-сҳәанны ирылаз ишҵабыргыз  — Жозефина лхаҵа длыԥсахуеит. Ари ажәабжь Наполеон даршанхеит. «Убри амомент инаркны ихабзиабара, игәрамгара, амчра агәазыҳәара еиҳа-еиҳа ирызҳауан. Европа зегьы ианырыр акәхеит Бонапарт иҭаацәаратә насыԥдара»[2].

Нанҳәамза 1 азы Нельсон напхгара зиҭоз Британиатәи аескадра Адгьылбжьаратә мшын аҿы ҩымз ирҿыз аԥшаарақәа рышьҭахь Абукиртәи аӡыбжьахалаҿы афранцызцәа рыфлот иахьӡеит. Аибашьра иахҟьаны афранцызцәа рыӷбақәа шамахамзар зегьы рцәыӡит (60 млн франк иҟаз Мальтатәи аконтрибуциа назгоз афлагмантә «Orient» налаҵаны), еиқәхаз Франциаҟа ихынҳәыр акәхеит. Наполеон Мсыр даанхар акәхеит, англызцәа Адгьылбжьаратә мшын рнапахьы иааргеит[74].

Нанҳәамза 22, 1798 шықәсазы Наполеон 36-ҩык злахәыз Мсыр аинститут аԥҵаразы ақәҵара инапы аҵаиҩит[75]. Аинститут аусура алҵшәақәа ируакхеит ҳаамҭазтәи мсырҭҵаара аҿиаразы аҭагылазаашьақәа аԥызҵаз амонументалтә «Мсыр ахҳәаа»[76]. Аекспедициа амҩаԥгараан ирыԥшааз Розеттәи ахаҳә ажәытәӡатәи Мсыртәи аҩыра ашифр аартразы алшара рнаҭеит[77].

Ҟаир анрымпыҵархала ашьҭахь Наполеон Дезеи Давеи напхагара зырҭоз 3-нызқьҩык рыла ишьақәгылаз агәыԥ Хыхьтәи Мсыр ампыҵахаларазы идәықәиҵеит[2], иара ихаҭа убри аамҭазы атәыла инапахьы аагареи, насгьы акыр зылшо ауааԥсыра игәыбылра ркыртә азы активла аусқәа рымҩаԥгара далагеит, қәҿиаралагьы илшеит. Наполеон аԥсылман динмаҵзуҩцәеи иареи еилибакаартә даҿын, аха уеизгьы, жьҭаарамза 21 ауха Ҟаир ақәгылара ҟалеит: 300-ҩык раҟара афранцызцәа ҭахеит, ақәгылара ашьаҽраан, иара уи ашьҭахьгьы 2500-ҩык инареиҳаны ақәгылаҩцәа ршьит[78]. Абҵарамза анҵәамҭазы Ҟаир иҭынчрахеит; абҵарамза 30 рзы Наполеон арлахҿыхратә баҳча анааиртуаз 20-шықәса зхыҵуаз Полин Фуре длабадырит. Наполеон лара лыԥшәма анапынҵа иҭаны иаразнак Франциа ддәықәиҵеит[79].

Анлызцәа рныррала Порта Мсыр иҟаз афранцызцәа ржәыларазы аҽазыҟаҵара иалагеит. «Ақәылара — иреиӷьу хыхьчагоуп» ҳәа ипринцип шьаҭас иҟаҵаны[2], жәабранмза 1799 шықәсазы Наполеон Шьамтәыла дақәлеит. Иара Газеи Иаффеи игеит[К 8], аха амшын аҟынтәи Британиатәи афлот еиқәзыршәоз, адгьыл аҿы Пикар де Фелиппо ирӷәӷәоз Акра изымгеит. Лаҵарамза 20, 1799 шықәсазы афранцызцәа ахьаҵра иалагеит. Наполеон макьана илшон Абукир азааигәара иҟаз (ԥхынгәымза 25) аҭырқәцәа риааира, аха еиликаауан ашьацҳәа дшаҿашәаз. Нанҳәамза 23[12][41] рзы ир аинрал Клебер изааныжьны, афрегат «Миуирон» дақәтәаны, Бертье, Ланн, Миурат, Монж, Бертолле дрыцны маӡала Франциа дцеит. Англыз ӷбақәа дрықәымшәакәа Наполеон Амрагылара ампыҵахалаҩ ҳәа деицырдыруа Франциаҟа дхынҳәит[2][12].

Жьҭаарамза 16 рзы Наполеон Париж данааи, Жозефина иара даныҟамыз 325-нызқь франк (уалла илгаз) иаԥсаз Мальмезон аҳҭынра шаалхәаз ибеит. Жозефина лҭыӡшәа ашьҭахь (Наполеон уи ихала иаԥшьигеит ҳәа иԥхьаӡоит Е. Робертс) дара еинышәеит. Жозефина уаҳа лхаҵа длыԥсахӡомызт, аха Наполеон ихаҭа изы ас узҳәом[82].

Ихадароу астатиа: Афранцыз консулат

Бриумер 18 рызтәи аҳәынҭқарра еилаҩынтреи аамҭалатәи аконсулреи

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Бриумер 18 рызтәи аилаҩынтра
Бриумер 18 рзы, шьыжьымҭан Наполеони аинралцәеи реиԥылара. Мотте (1826)

Бонапарт ир иманы Мсыр даныҟаз Франциа аиҳабыра акризистә ҭагылазаашьа иақәшәеит. Европатәи акралцәа аҩбатәи акоалициа шьақәдыргылеит ареспубликатә Франица иаҿагыларц азы. Адиректориа усҟан аус зуаз аконституциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспублика аҭышәынтәалара алнаршомыз, ар ирыҳәон ирыцхраарц азы. Италиа иҟаз Суворов напхгара зиҭоз аурыс-австриатә ар Наполеон уаанӡа иааникылаз адгьылқәа дырхынҳәит, иара убас урҭ Франциа иақәлар рылшоит ҳәа ашәарҭарагьы ҟалеит. Акризис иахҟьаны 1793 шықәсазтәи атеррор угәалазыршәо ауснагӡатәқәа мҩаԥган. "Иакобинтәи" ашәарҭара аԥырҟәҟәаареи арежимгьы еиҳа иҭышәынтәалахарц ишьақәгылеит ачарҳәцәа ргәыԥ, уи иалан адиректорцәа Сииеси Диукои рхаҭақәагьы. Ачарҳәҩцәа акыр зылшо аруаҩ дырҭахын. Уи азы Наполеон далырхит, избан акәзар иара ииааирақәа рыбзоурала даара деицырдыруан. Ганкахьала, Наполеон иҭахымызт ацәгьоура дақәыркырц (арҭ амшқәа раан иара асаламшәҟәқәа иҩуамызт); даҽаганкахьала, иара аилаҩынтра аҽазыҟаҵара активла далахәын[83].

Бонапарт Хәышәҩык рхеилак аҿы даныҟаз (1799). Франсуа Бушо исахьаҿы (1840)

Ачарҳәҩцәа ирылшеит аинралцәа рыбжеиҳараҩык дара ирыдгыларатә еиԥш аҟаҵара. Бриумер 18 (абҵарамза 9, 1799 шықәсазы) рзы ачарҳәаҩцәа рыдгылаҩцәа ахьырацәаз Абыргцәа рхеилак, ҩ-декретк аднакылеит: ҩ-палатак реилатәарақәа Сен-Клу риагареи Бонапарт Сена адепартамент еиҳабыс иҟаҵареи[84]. Сииеси, Диукои, Барраси[К 9] иаразнак рҭыԥқәа аанрыжьит, убри алагьы Адиректориа азинмчхарақәа ааныркылан, атәыла аиҳабырада аанрыжьит. Аха абҵарамза 10 рзы иакобинаа рнырра ӷәӷәа ахьыҟаз Хәышәҩык рхеилак ианеиза, адекрет ақәшаҳаҭхара мап ацәнакит. Уи алахәылацәа абџьар кны, ааԥхьарада аилатәара азал иҩналаз Бонапарт икәшеит. Хәышәҩык рхеилак ахантәаҩыс иҟаз Лиусьен асолдаҭцәа ааиԥхьеит. Миурат напхгара зиҭоз асолдаҭцәа азал иҩналан, еилатәаз дәылырцеит. Иара убри ауха иалыршахеит Ахеилак алахәылацәа аӡәык-ҩыџьак реизгара (50-ҩык рҟынӡа), иара убас ирылшеит аамҭалатәи аконсулра аԥҵаразы иахәҭоу адекретқәа «рыдкылареи» аконституциа ҿыц ашьақәыргыларазы акомиссиа аиҿкаареи[86][2][88].

Бонапарт, Сииес, Диуко аамҭала консулцәаны иҟарҵеит. Диуко Бонапарт «ампыҵахалара азин ала» ахантәаҩра идигалеит, аха Наполеон мап ацәикын, есыҽнытәи аиҭныԥсахлара рыдигалеит. Аамҭалатәи аконсулра хықәкыс иаман аконституциа ҿыц ашьақәыргылареи адкылареи. Бонапарт ибзоураны уи апроект хәымчыбжь рыла ишьақәдыргылеит. Арҭ амчыбжьқәа рыҩныҵҟа Наполеон илшеит Сииес идгылаҩцәа иара идгыларатә еиԥш аҟаҵара, насгьы Сииес еиқәиршәаз апроект акрызҵазкуа ариашарақәа алеигалеит. Сииес 350-нызқь франки Версали Парижи ақалақьқәа рҿы еиҭамҵуа амазара иоуит, убри аҟнытә мап имкит[89]. Апроект ишаҳәоз ала, азакәанԥҵаратә мчра Аҳәынҭқарратә хеилак, Атрибунат, Азакәанԥҵаратә корпус, Асенат рыбжьара ишон, убри алагьы иԥсыҽхон, насгьы ирласны аӡбарақәа заднамкыло иҟалеит. Аха анагӡаратә мчра жәашықәса ҳәа аҿҳәара змаз актәи аконсул Бонапарт инапаҿы иҟан. Аҩбатәии ахԥатәии аконсулцәа (Камбасереси Лебрени) абжьгаҩцәа раҳасабала заҵәык иҟан[90][12]. Аконсулцәа ралхра мҩаԥысит ԥхынҷкәынмза 12 рзы[91][92].

Аконституциа ӡырган ԥхынҷкәынмза 13, 1799 шықәсазы, ажәлар уи иақәшаҳаҭхеит Ареспублика VIII шықәсазтәи аплебисцит аҟны (аофициалтә дыррақәа изларҳәо ала, 3-миллионҩык раҟара иақәшаҳаҭхеит, 1,5-нызқьҩык мап ацәыркит, аха аиашазы аконституциа иадгылеит 1,55-миллионҩык раҟара, егьырҭ абыжьқәа еиқәырҽаҽан)[93][94]. Жәабранмза 19, 1800 шықәсазы Наполеон Лиуксембургтәи ахан ааныжьны Тиульри нхара далагеит[95].

Жәашықәсатәи аконсулра

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Жәашықәсатәи аконсулра
Аҳаҭыртә легион аорден раԥхьатәи анашьара. Дебре (1812)
Хҩык аконсулцәа (Камбасерес, Бонапарт, Лебрен). Ван Горп (1803)
Наполеон Конкордат аратификациа азиуеит. Жерар (1801)
Наполеон Сен-Бернар икаҵәараҿы. Давид (1803)

Наполеон ахадас даныҟала Франциа Британиа Дуи Австриеи ирабашьуан. 1799 шықәсазы Австриа Суворов Италиатәи арратә иныҟәара абзоурала Аҩадатәи Италиа архынҳәит. Наполеон Италиатәи иныҟәара ҿыц актәи угәаланаршәон. Лаҵарамза, 1800 шықәсазы афранцыз ар жәамш рыла Альпы рыла, иаалырҟьаны Аҩадатәи Италиа иалалеит[2]. Ԥхынгәымза 14, 1800 шықәсазы Маренго ицоз аибашьраан Мелас напхгара зиҭоз австрицәа Наполеон ииааирц егьрыгымхеит, аха Дезе иконтржәылара Наполеон ацхыраара инаҭеит (Дезе ихаҭа дҭахеит)[2]. Маренго ицоз аибашьраан аиааира агара Леобен аинышәара иазку аилацәажәарақәа ирылагартә алнаршеит, аха иара убас иаҭахын афранцыз ҳәаақәа ашәарҭара иҭагыламхарц азы ԥхынҷкәынмза 3, 1800 шықәсазы Гогенлинден ицоз аибашьраҿы Моро ииааира[2].

Жәабранмза 9, 1801 шықәсазы Лиуневильтәи аҭынчратә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит, уи ашьҭахь Франциа Италиа мацара акәымкәа, иара убас Германиагьы аҳра иауа иалагеит. Шықәсык ашьҭахь (хәажәкырамза 27, 1802 шықәсазы) Франциеи Британиа Дуи Амьентәи аҭынчратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, убри ала ихдыркәшеит Аҩбатәи акоалициа реибашьра. Аха Амьентәи аҭынчратә еиқәшаҳаҭра Франциеи Британиа Дуи ирыбжьаз аимакқәа иазымыӡбеит, убри аҟнытә уи уақәгәыӷыртә еиԥш иҟамызт[12]. Аҭынчратә еиқәшаҳаҭра аилаӡарақәа рыла Англиа иампыҵанахалаз Франица иатәыз аколониақәа иархынҳәыр акәын[96]. Наполеон иколониалтә империа аиҭашьақәыргылареи арҭбаареи иҭахын, убри инамаданы Сан-Ильдефонсо ианыҟаз ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра аилаӡарақәа инарықәыршәаны Испаниа Наполеон иԥаҭеит Луизиана[12]. Хәажәкырамза, 1802 шықәсазы Наполеон 25-нызқьҩык асолдаҭцәа злаз аекспедициа дәықәиҵеит иқәгылаз атәцәа Сан-Доминго рымихырц. Аекспедициа дахагылан имаҳә Леклерк. Атәцәа напхгаҩыс дрыман Туссен-Лувертиур[12][16].

Наполеон иалеигалаз административтә, азинтә ҿыцрақәа иахьатәи аҳәынҭқарра ашьаҭа ркит, урҭ рӷьырак иахьагьы аус руеит. Наполеон раԥхьатәи консулс даныҟала, атәыла аҳәынҭқарратә шьақәгылашьа шьаҭанкыла иԥсахит; 1800 шықәсазы административтә реформа мҩаԥигеит, аиҳабыра рнапаҵаҟа иҟаз адепартаментқәа рпрефектцәеи аокругқәа рсупрефектцәеи ринститут аԥиҵеит. Ақалақьқәеи ақыҭақәеи ахадацәа арҭон[12]. Административтә реформа иалнаршеит аҭыԥантәи амчратә усбарҭақәа рнапы ианыз, уаанӡа Адиректориа иазымыӡбоз азҵаарақәа рыӡбара — ашәахтәқәа реизгареи арекруттә аизгеи[97].

1800 шықәсазы ахьы аҵәахреи аԥара аҭыжьреи рзы иаԥҵан Франциа абанк (ари афункциа иаиуит 1803 шықәсазы)[95]. Раԥхьаӡа абанк напхгара арҭон акционерцәа иалырхуаз 15-ҩык анапхгара алахәылацәа, аха 1806 шықәсазы аиҳабыра анапхгаҩи (Крете), иара убас ҩыџьа ихаҭыԥуаҩцәеи иарҭеит, 15-ҩык анапхгара алахәылацәа рхыԥхьаӡара иалалеит ашәахтәқәа реизгаҩцәа хадақәа хҩык[98].

Флореаль 11 Х шықәсазы (лаҵарамза 1, 1802 шықәса) абжьаратәи ашколқәа  — алицеиқәа рсистема аԥҵан[12].

Наполеон ауаажәларра ргәаанагара анырра аҭара шаҟа аҵанакуа ибзиаӡаны идыруан, убри аҟнытә 73 Парижтәи агазеҭқәа рахьынтә 60 аиркит, егьырҭ иаанхаз аиҳабыра рнапаҵаҟа иҟалеит[99]. Фуше дызхагылаз аполициа ӷәӷәа[100], иара убас Савари напхгара зиҭоз амаҵзура маӡа аԥҵан[101].

Хәажәкырамза, 1802 шықәсазы Наполеон азакәанԥҵаратә усбарҭақәа рҟынтәи ареспубликатә оппозициа адгылаҩцәа аӡәырҩы ықәигеит[41]. Хәыҷы-хәыҷла амонархтә напхгараҭара аформақәа рахь ахынҳәра мҩаԥысуан. Аицәажәараан «уара» ҳәа аҳәара иаҟәыҵит, ус рҳәон ареволиуциа ашықәсқәа инадыркны. Наполеон аемигрантцәа рыхәҭак ихынҳәырц азин риҭеит, аха дара аконституциа гәык ала ишазыҟоу аҭоуба шьҭарҵар акәын. Ихынҳәит аливреиақәа, аофициалтә церемониақәа, ахантә шәарыцара, Сен-Клу имҩаԥыргоз амессақәа. Ареволиуциа ашықәсқәа раан ҳамҭас ирырҭоз хьыӡҳәалатәи абџьар ацынхәрас, Аҳәынҭқарратә хеилак ишаҭахымызгьы, Наполеон иалеигалеит иерархиала еиҿкааз Аҳаҭыртә легион аорден (лаҵарамза 19, 1802 шықәса). Аха «армаратә» оппозициа дшақәлозгьы, Бонапарт ареволиуциа иаанагаз ампыҵахаларақәа реиқәырхара дашьҭан[12].

1801 шықәсазы Наполеони Римтәи папеи аконкордат рыбжьарҵеит. Рим афранцыз мчра ҿыц азханаҵеит, акатолицизм афранцызцәа реиҳараҩык рдинхаҵароуп ҳәа иӡбан. Аха ус шыҟазгьы ажәлар адинхаҵара алхразы рхы иақәиҭын. Аԥскәабазцәа раҭареи ауахәама аусуреи аиҳабыра ирхьыԥшын[12].

Наполеон иусқәа ирыхҟьаны «армаратәи» иҿагылаҩцәа Ареволиуциа ачарҳәҩы ҳәа ишьҭан, аха Наполеон ихаҭа Ареволиуциа аидеиақәа ирыцызҵо аӡә иакәны ихы иԥхьаӡон. Наполеон иакобинаа еиҳа дрыцәшәон ароиалистцәа раасҭа. Иара дзыцәшәоз ридеологиа, амчра амеханизмқәа ахьырдыруаз, иара убас ибзиаӡоу реиҿкаашьа акәын. Ԥхынҷкәынмза 24, 1800 шықәсазы Наполеон Аоперахь дызлацоз Сен-Никез амҩаҿы «џьаҳанымтәи машьына» ҳәа изышьҭаз анԥжәа, иара уи ишьра аҽазышәара иакобинаа рықәхразы ихы иаирхәеит, иҟалаз ароиалистцәа шырхароу Фуше ишышьақәирӷәӷәазгьы[102].

Наполеон илшеит ареволиуциа ихадоу аихьӡарақәа рышьақәырӷәӷәара (ахатәтәразы азин, азакәан аҿаԥхьа аиҟарара, алшарақәа реиҟарара), иара убас ареволиуциатә анархиа ааникылеит. Афранцызцәа агәра рго иалагеит дара рыԥсҭазаара шыбзиахо, ишманшәалахо Наполеон аҳәынҭқарра ахадас дыҟанаҵы, уи Наполеон ихатә мчра арӷәӷәараҿы анаҩстәи ашьаҿа аҟаҵара иацхрааит — ԥсраҽнынӡатәи аконсулрахь аиасра[2].

Ԥсраҽнынӡатәи аконсулра

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Ԥсраҽнынӡатәи аконсулра
Бонапарт — актәи аконсул. Енгр (1803—1804)
1803 шықәсазтәи 20 хьтәы франк — Наполеон актәи аконсул иаҳасабала

1802 шықәсазы Наполеон аплебисцит алҵшәақәа шьаҭас иҟаҵаны Асенат ала асенатус-консульт мҩаԥигеит ԥсраҽнынӡатәи азинмчхарақәа (нанҳәамза 2, 1802 шықәса) имазарц азы. Актәи аконсул азин иуоит Асенат иара ишьҭахь аҳәынҭқарра ахадас иҟало идгалара, уи шьҭрала ииасуа амчра апринцип аиҭашьақәыргылара дазааигәанатәит[12][103].

Мшаԥымза 7, 1803 шықәсазы ақьаад иалхыз аԥара аԥыхын; аԥаратә ак хаданы иҟалеит 100 сантимк рыла ишаз араӡнытә франк; аамҭакала иаларгалон 20, 40 франк иҟаз ахьтәы ԥара. Наполеон иаԥиҵаз аметаллтә франк ахархәара аман 1928 шықәсанӡа[104][105].

Наполеон иоуит зфинанстә ҭагылазаашьа бааԥсыз аҳәынҭқарра. Ифинанстә бжьгаҩцәеи иареи ашәахтәқәа реизгареи ахарџьқәеи рсистема шьаҭанкыла ирыԥсахит. Афинанстә система ишахәҭоу еиԥш аусура алыршахеит еиҿагылаз, иара убри аамҭазы аус еицызуаз аминистррақәа ҩба раԥҵарала: афинансқәеи аԥараҵәахырҭеи, урҭ напхгара рырҭон Годени Барбе-Марбуеи[106]. Афинансқәа рминистр абиуџьет алагалақәа инапы ианын, аԥараҵәахырҭа аминистр  — ахарџьқәа; ахарџьқәа азакәан ма аминистрратә қәҵара иақәшаҳаҭхар акәын, урҭ ахылаԥшра ӷәӷәа рырҭон[107][108].

Наполеон адәныҟатәи иполитика ҵакыс иаман Франциа ааглыхреи афинанстә буржуазиеи Европатәи аџьармыкьаҿы ԥхьагылара рыманы рыҟаҵара. Уи иаԥырхаган англыз капитал, избанзар Британиа ду ааглыхратә револиуциа ҟалахьан, убри алагьы дара аԥыжәара рыман. Аҩ-тәылак ирыбжьаз аиндаҭлара иахҟьаны Амьентәи аиқәшаҳаҭра аилаӡарақәа рықәныҟәара иаҟәыҵит. Аиқәшаҳаҭра ишаҳәоз ала, англызцәа рыр Мальта иахыргар акәын, аха дара уи мап ацәыркит. Наполеон иакәзар, Ельба, Пьемонт, Парма импыҵаирхалеит, иара убас Швеицариатәи акантонақәеи иареи Абжьаҟазара ашәҟәынҵеи арратә еидгылара иазку аиқәшаҳаҭреи рнапы аҵарҩит. Хырԥашьа змам аибашьра иҽазыҟаиҵо Наполеон Луизиана Еиду Аштатқәа идирхәҳаит. Леклерк дызхагылаз Гаити ицоз аекспедициа еиԥш, Наполеон иколониалтә проектқәагьы иқәымҿиеит[12][16][109].

Лаҵарамза, 1803 шықәсазы Британиа Дуи Франциеи реизыҟазаашьа убриаҟара ԥхасҭахеит, англызцәа рыцҳаражәҳәаҩ ддырхынҳәыр акәхеит; лаҵарамза 16 рзы Британиатәи абаӷәазақәеи амшыни рҿы афранцыз ӷбақәа рымпыҵахаларазы адҵа ҟаҵан, лаҵарамза 18 рзы Британиа Ду Франциа аибашьра рыланаҳәеит[110][К 10]. Наполеон Британиа акрал иитәыз Ганновер агерцограхь ир дәықәиҵеит. Ԥхынгәымза 4 рзы Ганновер ар ихьаҵит[112]. Наполеон Булон амҵан иҟаз Па-де-Кале аԥшаҳәаҿы арратә лагер ду аргылара далагеит. Ԥхынҷкәынмза 2, 1803 шықәсазы ари ар «Англиатәи ар» ҳәа хьӡыс иаиуит; 1804 шықәсазы Булони уи акәша-мыкәшеи 1700 инареиҳаны аӷбақәа еизган ар Англиаҟа риагаразы[113].

Наполеон иҩныҵҟатәи аполитика хықәкыс иаман ихатә мчра арӷәӷәара ареволиуциақәа алҵшәақәа: аграждантә зинқәа, анхацәа рыдгьылқәа рзы, иара убас ареволиуциа аан амилаҭтә мазара аазхәаз, даҽакала иуҳәозар, аемигрантцәа ирымырхыз адгьылқәеи ауахәамақәеи аазхәаз рхатәтәра азин реиԥш иҟоу алҵшәақәа реиқәырхаразы. Арҭ ампыҵахаларақәа зегьы алнаршар акәын «Наполеон икодекс» ҳәа аҭоурых ианылаз Атәылауаҩратә кодекс (аратификациа азун хәажәкырамза 21, 1804 шықәсазы)[12].

Кадудаль —Пишегриу рчарҳәра анеилкааха ашьҭахь («ХII шықәсазтәи ачарҳәра» ҳәа изышьҭоу) Франциа анҭыҵ иҟаз Бурбонаа рыҩнаҭа апринццәа уи иалахәын ҳәа агәаанагара ҟалеит. Наполеон адҵа ҟаиҵеит Енгиентәи агерцог афранцыз ҳәаа азааигәара иҟаз Еттенхаим дааныркыларц. Агерцог Париж дааганы ааратә ӡбарҭа ашьауӷақәҵарала, хәажәкырамза 21, 1804 шықәсазы дкыдҵаны дыршьит. Кадудаль дыршьит, Пишегриу абахҭаҿы дыԥсны дырбеит, Моро Франциа далырцеит. XII шықәсазтәи ачарҳәра афранцыз уаажәларраҿы агәамҵра цәырнагеит, иҟалаз ахҭысқәа аофициалтә пресса рхы иадырхәеит аԥхьаҩцәа Актәи аконсул ихылҵшьҭратә мчра шхымԥадатәиу ажәлар агәра ддыргарц азы[12].

Ихадароу астатиа: Актәи аимпериа

Аимпериа ашьақәгылара

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Лаҵарамза 26, 1805 шықәсазы Милан Италиа акрал Наполеон агәыргьын ихеиҵеит[114]
Наполеон агәыргьын ихаҵара Нотр-Дам аныхабааҿы, ԥхынҷкәынмза 2, 1804 ш. Наполеон Жозефина агәыргьын лхеиҵоит. Давид (1805—1807)

Флореаль 28 (лаҵарамза 18, 1804 шықәса) рзы Асенат (XII шықәсазтәи асенатус-консульт ҳәа изышьҭоу) ақәҵарала ирыдыркылеит аконституциа ҿыц, уи инақәыршәаны Наполеон афранцызцәа римператорны дҟалон, насгьы Аимпериа иреиҳаӡоу асановникцәеи афицар дуқәеи рмаҵурақәа аларгалон, ареволиуциа ашықәсқәа раан иаԥыхыз амаршалтә хьӡы еиҭашьақәдыргылон[16][115].

Иара убри аҽны ачинуаҩ дуцәа фҩык рҟынтәи хәҩык амаҵура иахадыргылеит (аелектор ду (алхҩы), Аимпериа архиканцлер, архиԥараҵәахҩы, аконнетабль, адмирал ду)[К 11]. Ачинуаа дуцәа аимператортә хеилак ду еиҿыркааит. Лаҵарамза 19, 1804 шықәсазы жәааҩык еицырдыруа аинралцәа Франциа амаршалцәаны иҟарҵеит, урҭ рахьынтә ԥшьҩык ҳаҭыр зқәу ҳәа иԥхьаӡан, егьырҭ  — ииашоу[117].

Абҵарамзазы аплебисцит алҵшәақәа рыла асенатус-консульт аратификациа азун. Аплебисцит аихшьаалақәа рыла, Аҳәынҭқарратә хеилак ишаҿагылозгьы, иӡбан агәыргьын ахаҵара атрадициа аиҭарҿиара. Наполеон даара иҭахын ацеремониа Римтәи папа далахәзарц. Папа Наполеон идиҵон Жозефинеи иареи ауахәаматә қьабз ала еибагарц, даҽакала иуҳәозар ашьанара ақьабз мҩаԥыргарц. Ԥхынҷкәынмза 2 ауха акардинал Феш Талеиран, Бертье, Диурок алархәны ашьанара ақьабз мҩаԥигеит[118][12]. Ԥхынҷкәынмза 2, 1804 шықәсазы папа дызлахәыз Парижтәи Анцәаиан луахәамаҿы зеиӷьыҟам церемониа амҩаԥгараан Наполеон афранцызцәа римператор ҳәа ихы агәыргьын ахеиҵеит, анаҩс Жозефинагьы агәыргьын лхеиҵеит[12]. Стендаль имшынҵаҿы ари агәыргьын ахаҵара «амцҳәаҩцәа илабҿабоу реидгылоуп» ҳәа ахиҳәааит — «ауаа рразҟы бзиа ахьӡала атираниа агәыргьын ахазҵо адинхаҵара»[119].

Агәыргьынхаҵара иабзоураны иаарԥшхеит Бонапарт аҭаацәареи (Наполеон иашьцәеи иаҳәшьцәеи) Богарне аҭаацәареи (Жозефинеи лыхшареи) ирыбжьаз аиӷара. Наполеон иаҳәшьцәа Жозефина лыҵкы акалҭ акра рҭахымызт. Наполеон иан агәыргьынхаҵара ацеремониа аҭаара зынӡа мап ацәылкит. Аимак-аиҿакқәа раан Наполеон иԥшәмаԥҳәыси лхәыҷқәеи дрыдгылон, аха иашьцәеи иаҳәшьцәеи рахьгьы агәыҳалалра ааирԥшуан (ус шакәугьы, еснагь уи игәыӷрақәа ахьынармыгӡо азы игәынамӡара ааирԥшуан)[118][К 12]. Наполеони иашьцәеи иара убас еимаркуан Италиа акралс иҟаҵатәыда, насгьы иара ишьҭахь Франциа аимператорс иҟалода ҳәа. Аҵыхәтәаны ус ирыӡбеит: Наполеон аҩ-гәыргьынк иоуан, иԥсҭазаара далҵыр агәыргьынқәа иуацәа рыбжьара ишахоит. Хәажәкырамза 17, 1805 шықәсазы Наполеон ахадас дахьыҟаз иаҿыгаз Италиатәи ареспублика Италиа акралра ҳәа иҟалеит. Ҿыц еиҿкааз акралраҿы Наполеон акрал ититул иоуит, иԥаԥса Евгени Богарне — акрал ихаҭыԥуаҩ ититул[121]. Наполеон Аихатә гәыргьын ихы ахаҵара иахьиӡбаз иахҟьаны Австриа иалалеит ҿыц ишьақәгылоз афранцызҿагыларатә коалициа[116][2]. Лаҵарамза, 1805 шықәсазы Лигуриатәи ареспублика Франциа адепартаментқәа ируакхеит[114].

Аимпериа аизҳазыӷьара

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Ахԥатәи акоалициа реибашьра
Ульма абџьаршьҭаҵара. Тевенен (1815)

Мшаԥымза, 1805 шықәсазы Урыстәылеи Британиа Дуи рнапы аҵарҩит ахԥатәи акоалициа ашьаҭа зкыз Петербургтәи аидгылатә еиқәшаҳаҭра[2]. Иара убри ашықәс азы Франциеи уи адгылара азҭоз Испаниеи ирҿагыланы Британиа Ду, Австриа, Урыстәыла, Неаполитантәи акралра, Швециа Ахԥатәи акоалициа еиҿыркааит. Акоалициа ашьақәыргылараҿы акрызҵазкуа факторны иҟалеит Британиатәи асубсидиақәа (англызцәа адгылаҩцәа ирзоурыжьит 5 млн фунт стерлинг)[97]. Афранцыз дипломатиа иалнаршеит иааиуа аибашьраҿы Пруссиа анеитралитет алнахыртә аҟаҵара (Наполеон идҵала Талеиран Фридрих-Вильгельм III ажәа ииҭеит британиаа ирымырхыз Ганновер шииҭо)[12].

Жьҭаарамза, 1805 шықәсазы Наполеон иаԥиҵеит Аекстраординартә мазарақәа русбарҭа (афр. domaine extraordinaire) — ирымпыҵархалаз атәылақәеи аҵакырақәеи рҟынтәи ашәарақәеи аконтрибуциақәеи реизгара иазкыз, Ла Буиери дызхагылаз афинанстә институт ҷыда. Арҭ аԥарақәа еиҳарак анаҩстәи арратә кампаниақәа ирықәдырӡуан[122].

Наполеон Британиатәи адгьылбжьахақәа рахь аӡхыҵра игәы иҭан, аха акоалициа русқәа ирызкны адырра аниоу Булонтәи алагер аҟынтәи Германиаҟа ар дәықәиҵеит. Австриатәи ар жьҭаарамза 20, 1805 шықәсазы Ульм амҵан имҩаԥысуаз аибашьраҿы абџьар шьҭарҵеит[2]. Жьҭаарамза 21 рзы Нельсон напхгара зиҭоз Британиатәи афлот Трафальгар ицоз аибашьраан испаниа-франциатәи афлот еилаԥыххаа иқәнаҵеит. Ари аҵахара алҵшәақәа рыла Наполеон британиаа амшын аҿы аҳра риҭеит. Анаҩстәи ашықәсқәа рзы Наполеон амч рацәаӡаны ақәирӡит, аха амшын аҿы англызцәа риааира илымшеит; Британиатәи адгьылбжьхақәа рахь аӡхыҵры залыршамхеит[123][12]. Абҵарамза 13 рзы Вена иаарту қалақьуп ҳәа рыларҳәеит, афранцыз ар аҿагылара ӷәӷәа рмоукәа ақалақь ааныркылеит[124].

Наполеон Аустерлица даныҟаз. Жерар (1810)

Урыстәылатәи аимператор Александр I, Иԥшьоу Римтәи аимпериа аимператор Франц II ар рахь инеит. Александр I идҵала аурыс ар ахьаҵра ааныркылан, австриаа ирыцны ԥхынҷкәынмза 2, 1805 шықәсазы Аустерлица[2] ицоз аибашьраан афранцызцәа ирабашьит, уаҟа дара Наполеон еиҿикааз атактикатә шьацҳәа иаҿашәан, ӷәӷәала иаҵахан, ихьаҵит. Ԥхынҷкәынмза 26 рзы Австриеи Франциеи Петербургтәи аҭынчратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит[12]. 65 млн франк инареиҳаны Австриатәи адгьылқәа рҟынтәи Аекстраординартә мазарақәа русбарҭа иалалеит: аҳәынҭқарра еибашьрала ахы ныҟәнагон[122]. Ар Ду абиуллетенқәа ирыбзоураны афранцыз уаажәларра рҟынӡа иааҩуаз арратә операциақәеи аиааирақәеи ирызку ажәабжьқәа амилаҭ реидкылара иацхраауан[12].

Ԥхынҷкәынмза 27, 1805 шықәсазы[125] Наполеон «Бурбонаа рдинастиа Неаполь аҳра аура иаҟәыҵит» ҳәа ирылеиҳәеит, Неаполитантәи акралра, уаанӡатәи аиқәшаҳаҭра хьаас имкыкәа, афранцызҿагыларатә коалициа ахьалалаз азы. Афранцыз ар Неаполь ианнеи акрал Фердинанд I Сициалиаҟа дыбналеит, уи ашьҭахь Наполеон иашьа Жозеф Бонапарт Неаполитантәи акралс дҟаиҵеит[12]. Хәажәкырамза 30, 1806 шықәсазтәи адекрет ала Наполеон аимператор иҭаацәа рзы аҭауадтә титулқәа алеигалеит. Полинеи лыԥшәмеи ироуит Гвасталла агерцогра роуит, Миурати иԥшәмаԥҳәыси — Берг агерцогра Ду. Бертье Невшатель иоуит[12]. Аҳрақәа Беневентои Понтекорвои Талеирани Бернадотти ирырҭеит[126]. Наполеон иаҳәшьа Елиза Лукка лоухьан, нас 1809 шықәсазы Наполеон Елиза Тоскана иахьаҵанакуа зегьы дахаиргылеит[127]. Ԥхынгәымза, 1806 шықәсазы Батавтәи ареспублика аҭыԥан иҟалеит Голландиа акралра. Наполеон Голландиа акралс иашьеиҵбы Лиудовик Бонапарт дҟаиҵеит[128].

Аҭауадцәа Реинтәи аидгыла аиҿкаараан ҭоуба руеит. Мотте (1820—1830)

Ԥхынгәы 12, 1806 шықәсазы Наполеони Германиатәи аҳәынҭқаррақәа рхадақәеи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, убри ала дара Реинтәи ҳәа хьӡыс иаиуз аидгыла еиҿыркааит, уи Наполеон ипротекторат аҵаҟа иҟан, иара убас хынҩажәанызқьҩык асолдаҭцәа рыла ишьақәгылаз ар Наполеон изы иныҟәыргалар акәын. Аидгыла ашьақәгылара амедиатизациа ацын (уи аԥхьа ихьыԥшымыз ахадацәеи аҳра ссақәеи (immediat) рхьыԥшымра рцәыӡит, насгьы еиҳа идуу аҳәынҭқаррақәа урҭ напхгара рзыруа иалагеит). Нанҳәамза 6, 1806 шықәсазы аимператор Франц II ититули Иԥшьоу Римтәи аимпериа аимператор изинмчқәеи аанижьит, абасала зқьышықәсалатәи аимпериа адунеи ианыҵит[12][129].

Тильзиттәи аиԥылара. Госс (XIX век)
Жьҭаарамза 27, 1806 шықәсазы Наполеон Бранденбургтәи агәашә ала Берлин далалоит[130]. Меинье (1810)
Наполеон Еилау ицоз аибашьраҿы. Гро (1807)

Германиа иҟаз афранцыз позиациақәа ӷәӷәахон. Убри аҟнытә Пруссиа агәы ҭынчмызт. Уи адагьы Наполеон уаанӡа дызқәиргәыӷыз Ганновер анырмоу, Пруссиа Наполеон иҿагылеит. Нанҳәамза 26 рзы ультиматумны ықәдыргылеит Ар ду Реин иахыргарц[12]. Наполеон ари аультиматум мап ацәкны Пруссиатәи ар дрықәлеит. Заальфельд имҩаԥысуаз раԥхьатәи аибашьра ду аҿы, жьҭаарамза 10, 1806 шықәсазы пруссакаа ԥыххааса иқәҵан[2]. Уи ашьҭахь жьҭаарамза 14 рзы Иении Ауерштедти ицоз аибашьра иаҵахеит[12]. Иен ицоз аибашьраҿы аиаара анырга ҩымчыбжь рышьҭахь Наполеон Берлин далалеит, анаҩс Штетин, Пренцлак, Магдебург ирласны абџьар шьҭарҵеит[2]. Пруссиа 159 млн франк иҟаз аконтрибуциа ашәар акәхеит[12].

Пруссиа акрал Фридрих-Вильгельм III дахьыбналаз Кионигсберг аҟынтәи Реинтәи Аидгыла алалара дақәшаҳаҭхо, Наполеон диҳәон аибашьра ааникыларц. Аха Наполеон еиҳа-еиҳа илеишәа ирцәгьон, Пруссиа акрал деибашьлар акәхеит[131]. Иара ицхраарц иааит афранцызцәа Висла арра ирԥырхагахарц азы ҩ-рык ықәзыргылаз Урыстәыла. Наполеон аполиакцәа ахьыԥшымразы иқәԥаларц иадиԥхьалон, ԥхынҷкәынмза 19, 1806 шықәсазы раԥхьаӡа акәны Варшава далалеит[132]. Ԥхынҷкәынмза, 1806 шықәсазы Чарново, Пултуск, Голымин рымҵан ицоз аидыслара ӷәӷәақәа раан аӡәгьы аиааира изымгеит[2].

Ԥхынҷкәынмза 13 рзы Париж диит Наполеони Елеонора Дениуели рԥа Шарль Леон. Наполеон уи еиликааит Пултуск даныҟаз, ԥхынҷкәынмза 31 рзы. Аԥа иира иаанагон Наполеони Жозефинеи еилыҵыр, Наполеон адинастиа аԥиҵар илшоит ҳәа[133]. Пултускнтәи Варшаваҟа даныхынҳәуаз, ажьырныҳәамза 1, 1807 шықәсазы, Блоне аԥошьҭатә станциаҿы Наполеон раԥхьаӡа акәны дибеит ҩажәа шықәса зхыҵуаз Мариа Валевскаиа, лара зықәрахь инеихьаз Польшатәи аграф иԥшәмаԥҳәыс лакәын, Наполеони лареи акыр шықәса бзиа еибабон[134][К 13].

Аӡынтәи акампаниа аидыслара хада ҟалеит Еилау жәабранмза 8, 1807 шықәсазы[12]. Аинрал Беннигсен напхгара зиҭоз аурыс ари афранцыз ари рыбжьара ашьаарҵәыратә еибашьраҿы аиааира згаз ҟамлеит, акыршықәса рыҩныҵҟа Наполеон раԥхьаӡа акәны аиааира изымгеит[2].

Афранцызцәа Данциг ааныркылеит лаҵарамза 27, 1807 шықәсазы[2]. Ԥхынгәымза 14 рзы аурысцәа Фридлан ицоз аибашьраан ианаҵаха, афранцызцәа Кионигсберг ааныркылартә еиԥш алшара роуит, усҟан дара аурыс ҳәаа ашәарҭара иҭадыргылеит, ԥхынгәымза 7 рзы Тильзиттәи аҭынчратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Пруссиа анкьа зны Польша иамнахыз адгьылқәа рҿы Наполеон иаԥиҵеит аҳәынҭқарра ҿыц — Варшаватәи агерцогра Ду. Пруссиа иацәыргаз Реини Ельбеи рыбжьара адгьылқәеи Германиатәи аҳәынҭқарра ссақәеи еидыркылан, иаԥырҵеит Вестфальтәи акралра ҿыц, уи дахадыргылеит Наполеон иашьа Жером[12].

Наполеон Италиатәи акампаниақәа ҩбеи егьырҭ акампаниақәеи рҿы иигаз аиааирақәа рыбзоурала уззымиааиуа ар рԥыза ҳәа ахьӡ иоуит[12]. Наполеон уажәшьҭа аминистрцәа, азакәанԥҵаҩцәа, иуацәа, иҩызцәа ирҳәоз дызыӡырҩуамызт. Нанҳәамза 9, 1807 шықәсазы Талеиран адәныҟатәи аусқәа рминистр имаҵура дамхын. Нанҳәамза 19 рзы Атрибунат оурышьҭит. Наполеон иара ихаҭа акралцәаны иҟаиҵаз иуацәеи иҩызцәеи рахь агәынамӡара иман, избанзар дара аимпериа акзаара иазхәыцымкәа, рыдгьылқәа ринтересқәа рыхьчара рҽазыршәон[12][16]. Наполеон лассы-лассы ауаа иатәамбакәа дрыхәаԥшуан, насгьы даара дгәамҵуан, зны-зынла иара убриаҟара игәы ԥжәон, игәыԥжәара агыртә чымазара угәаланаршәон[12]. Наполеон иҭахын зегьы ихала иӡбаларц, хаҭала зегьы гәеиҭаларц, убри аҟнытә иара иаԥиҵеит иҷыдоу «административтә хеилакқәа», урҭ амуниципалитет аусқәагьы аӡбон. Административтә аппарат шаҟа ԥара ақәдырӡуа ацклаԥшразы 1807 шықәсазы иаԥиҵеит Барбе-Марбуа дызхагылаз Аԥхьаӡаратә палата[12].

Наполеон ашьыжь асааҭ 7 рзы дгылон, иусқәа ҟаиҵон. Асааҭ 10 рзы — шьыжьхьа ифон, ижәуан ӡыла иӡҩаз шамбертен (ареволиуциа ҟалаанӡа ашықәсқәа раахыс имаз ашьцылара). Шьыжьхьа ашьҭахь асааҭ акынӡа ҩаԥхьа икабинет аҿы аус иуан, нас ахеилакқәа реилатәарақәа дрылахәын. Шьыбжьхьа ифон асааҭ 5 рзы, зны-зынла шьыбжьышьҭахь, асааҭ 7 рзы, шьыбжьхьа ашьҭахь аимператрицеи иареи еицәажәон, иҿыцу ашәҟәқәа дрыԥхьон, уи ашьҭахь икабинет ахь дхынҳәуан. Ҵхабжьон дыцәон, уаха асааҭ хԥа рзы дҿыхон аӡыршы ала иҽикәабарц азы, асааҭ хәба рзы дырҩегьых дыцәон[12].

Аконтиненталтә блокада

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Аконтиненталтә блокада
1807 шықәсазтәи 40 хьтәы франк — Наполеон император иаҳасабала

Лаҵарамза 18, 1806 шықәсазы Британи аиҳабыра адҵа ҟарҵеит Франциатәи ага аблокада иҭаркырц, иара убас Франциа ицоз инеитралтәу аӷбақәа (еиҳарак америкатә) ргәаҭарагьы азин рырҭеит[123][12]. Пруссиа данаиааи ашьҭахь, Наполеон абҵарамза 21, 1806 шықәсазы Берлин даныҟаз аконтиненталтә блокада иазкыз адекрет инапы аҵаиҩит[138]. Убри амомент инаркны Франциеи уи адгылаҩцәеи Англиеи дареи рыхәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа ааныркылеит. Англиа (амшын ҳәынҭқарра ду) азы Европа аколониақәа рҟынтәи иаиуаз атауарқәеи ахатә тауарқәеи рыҭира ахьалшоз ҭыԥ хадан[К 14]. Аконтиненталтә блокада Англиа аекономика аԥхасҭа анаҭеит: Европатәи атәылақәа шаҟа аблокада иадгылоз аҟара Англиа аба, абамба аконтинент аҿы аҭиразы еиҳа имаҷны алшара аиуан, убри аамҭазы аконтинент аҟынтәи Англиа иаанагоз аӡа-маӡа рыхәқәа шьҭыҵуан. Британиа аҭагылазаашьа акыр еицәахеит ԥхынгәымза,1807 шықәсазы Тильзиттәи аҭынчратә еиқәшаҳаҭра аилаӡарақәа инарықәыршәаны Урыстәыла аконтиненталтә блокада ианадла ашьҭахь. Европатәи атәылақәа раԥхьа англызцәа маӡалатәи рхәаахәҭра (аконтрабанда) иаԥырхагамызт, аха Наполеон имшала дара уи иаҿагылар акәхеит. 1807 шықәса аҩбатәи азыбжазы Голландиатәи абаӷәӷәазаҿы 40 раҟара Британиатәи аӷбақәа ааныркылеит, Даниа англызцәа дара рыӡқәа алалара азин рымырхит. 1808 шықәса азбжазы ахәқәа реизҳареи ахашәалахәқәа рылаҟәреи ирыхҟьаны Ланкашир иҟалеит ажәлар реилаҩеиласра, афунт стерлинг ахә каҳаит[12].

Аблокада аконтинентгьы аԥхасҭа анаҭеит. Европатәи аџьармыкьаҿы афранцыз ааглыхра англыз ааглыхра иаԥсахыртә еиԥш иҟамлеит. Абҵарамза, 1807 шықәсазы аҭак ҳасабла Лондон Европатәи абаӷәӷәазақәа аблокада ишҭанакыз атәы рыланаҳәеит[12]. Рхатә колониақәа ахьырцәыӡыз, иара убас англыз колониақәеи дареи рхәаахәҭра иахьаанкылаз иахҟьаны Франциатәи абаӷәӷәазатә қалақьқәа Ла-Рошель, Бордо, Марсель, Тулон аԥхасҭа ду роуит[12]. Ауааԥсыра (аимператор ихаҭагьы, акаҳуа абзиабаҩ ду иаҳасабала) изышьцылахьаз аколониалтә тауарқәа (акаҳуа, ашьақар, ачаи) разымхареи урҭ рыхә ахьыҳаракызи иаргәаҟуан[140][2]. 1811 шықәсазы Делессер анемец аԥҵаҩцәа дырҿыԥшны ашьақар злырхуа аҷархал иалихит зхаҭабзиара ҳараку ашьақар, уи азы Наполеон ианеишьеит Аҳаҭыртә легион аорден, аха атехнологиа ҿыцқәа аларҵәаразы акыраамҭа аҭахын[141].

Пиренеинтәи Ваграмнӡа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Пиренеи ицоз аибашьрақәа
Мадрид, лаҵарамза хԥа, 1808 шықәсазы. Гоииа (1814)
Баилен имҩаԥысуаз абџьаршьҭаҵара. Хосе Касадо дель Алисаль (1864)
Ԥхынҷкәын 4, 1808 шықәсазы Мадрид иҟаз абџьаршьҭаҵара. Гро (1810)

Франциеи Испаниеи 1796 шықәса раахыс еидгылан. 1807 шықәсазы Наполеон Испаниа ацхыраарала Португалиа иадиҵеит аконтиненталтә система иадларц. Португалиа ари адҵа ианақәшаҳаҭымха, жьҭаарамза 27 рзы Наполеони Испаниеи Португалиа ампыҵахалареи ашареи рзы имаӡоу аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, уи инақәыршәаны атәыла аладатәи ахәҭа зегь зымчу Испаниа актәи аминистр Годои иоур акәын. Абҵарамза 13, 1807 шықәсазы аиҳабыратә газеҭ Le Moniteur «Браганцаа рыҩнаҭа аҳра аура иаҟәыҵит, уи Англиа зҽадызҳәало зегьы хымԥада ишҭахо арҵабыргуеит» ҳәа ирыланаҳәеит[2]. Наполеон Лиссабон идәықәиҵеит 25-нызқьҩык рыла ишьақәгылаз Жиуно икорпус. Ҩымз рышьҭахь Испаниатәи аҵакырадгьыл икараха ианахыс, абҵарамза 30 рзы Жиуно 2-нызқьҩык асолдаҭцәа иманы Лиссабон днаӡеит. Португалиа апринц-регент Жуан афранцызцәа ишааигәахо аниаҳа, аҳҭнықалақь ааныжьны, иуацәеи иаҳҭынуааи иманы Рио-де-Жанеироҟа дыбналеит. Апринц иҭаацәеи иареи, иара убас Португалиатәи аӷбақәеи ахьицәцаз Наполеон игәы ԥнажәан, ԥхынҷкәынмза 28 рзы адҵа ҟаиҵеит Португалиа 100 млн франк иҟаз аконтрибуциа ашәарц[2][12].

Аиқәшаҳаҭра маӡа аилаӡарақәа рыла Годои ихьыԥшым ҭауадны дҟалоит ҳәа дгәыӷуан, убри аҟнытә Испаниа иахьаҵанакуа хыԥхьаӡара рацәала афранцыз ар рыргылара азин риҭеит. Хәажәкырамза 13 рзы Миурат 100-нызқьҩык асолдаҭцәа иманы Бургос дыҟан, Мадрид аганахь дцон. Аиспанцәа ргәы ирҭынчразы Наполеон адҵа ҟаиҵеит Гибралтар амацәаз аҭакра игәы иҭоуп ҳәа уҳәан-сҳәан рыларҵарц. Адинастиа анҭахалак иаргьы дышҭахоз анеиликаа, Годои Испаниатәи акрал Карл IV агәра иирго далагеит Испаниантәи Аладатәи Америкаҟа абналара шхымԥадатәиу. Аха хәажәкырамза 18 ауха «фернандистцәа» ҳәа изышьҭаз Аранхуес еиҿыркааз ақәгылараан иара дахырҳәеит, Карл IV амчра аанижьыртә иҟарҵеит, иара убас акрал иԥа Фердинанд VII акралс дҟарҵеит. Хәажәкырамза 23 рзы Миурат Мадрид далалеит[142][143]. Лаҵарамза, 1808 шықәсазы Наполеон Испаниатәи аҳцәа рҩыџьагьы — аби аԥеи аилыркааразы Баионнаҟа дрыԥхьеит. Наполеон урҭ итҟәаны ианига, амонархцәа рҩыџьагьы агәыргьын рхырхит, аимператор Испаниатәи аҳра дахаиргылеит уаанӡа Неаполитантәи аҳас иҟаз иашьа Жозеф. Неаполитантәи акралс дҟалеит Миурат[12][144].

Хәажәкырамза 1, 1808 шықәсазтәи адекретқәа рыла Наполеон Франциа ҭауади-аамсҭеи ртитулқәеи ргербқәеи еиҭашьақәиргылеит аимпериа аҿаԥхьа рылшамҭақәа разхаҵара асимвол ҳасабала. Аха дара ажәытәан иҟаз атитулқәа иреиԥшымызт, уажәы атитул анрырҭоз адгьылқәа роуӡомызт, иара убас атитул шьҭрала рыхшара рахь ииасуамызт. Аха атитул иацны ҭауади-аамсҭеи ҿыцқәа аулафахәы ҳаракқәа роуан. Аҭауад амаиорат (акапитал ма еснагьтәи ахашәалахәы) иоур, усҟан атитул шьҭрала ииасуан. Ҭауади-аамсҭеи ҿыцқәа рҟынтәи 59 процент аруаа ракәын[12]. Хәажәкырамза 17 рзы Аимператортә университет аартра иазку адекрет ҭыжьын. Ауниверситет академиақәа рыла аҽашон, насгьы иреиҳау аҵара (абакалавр) аҭара иазкын. Наполеон Ауниверситет аԥҵарала амилаҭтә елита ашьақәыргылара апроцесс инапахьы аагара дашьҭан[12].

Наполеон Испаниа аҩныҵҟатәи аусқәа дахьрылалоз иахҟьаны, лаҵарамза 2 рзы ауааԥсыра Мадрид игәамҵуа иалагеит, нас атәыла иахьаҵанакуа зехьынџьара. Аҭыԥантәи амчрақәа (хәынта) афранцызцәа ирҿагылеит. Афранцызцәа дара рзы иҿыцу аибашьра аформа — апартизантә еибашьра иақәшәеит. Ԥхынгәымза 22 рзы Диупони 18-нызқьҩык асолдаҭцәеи Баилен азааигәара аиспанцәа рыҽрырҭеит, убри ала уаанӡа уззымиааиуаз Ар Ду рыхьӡ ааха ӷәӷәа аиҭеит. Аҭыԥантәи аиҳабыреи ауааԥсыреи рыцхыраарала, абританцәа Португалиа иӡхыҵын, Жиуно Вимеира ицоз аибашьра данаҵаха ашьҭахь атәыла далҵыртә еиԥш иҟарҵеит[12][2].

Испаниеи Португалиеи инагӡаны импыҵаирхаларц азы Наполеон Ар Ду амч хадақәа Германиантәи арахь ииаигар акәын, аха уи иаԥырхаган Австриа аганахьала аибашьра алагара ашәарҭара. Австриа ааннакыларц алшон Наполеон идгылаз Урыстәыла. Цәыббрамза 27 рзы Наполени Александр I Ерфурт еиԥылеит, Наполеон Александр I идгылара иоурц иҭахын. Наполеон аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара Талеиран инапы ианиҵеит, аха иара убри аамҭазы маӡала аурыс ҳҭынреи Австриатәи ҳҭынреи дрыдҳәалан. Александр иҭахын Ҭырқәтәыла ршарц, Константинополь Урыстәыла иарҭарц. Наполеон ари данақәшаҳаҭымха, Александр ацхыраара иазкны цқьа акгьы имҳәеит. Иара убас Наполеон ԥҳәысс дигарц иҭахын аҳ иԥҳа Екатерина Павел-иԥҳа, аха арагьы акгьы иқәымҿиеит[12][2][145].

Наполеон дақәгәыӷуан Испаниатәи апроблема иӡбарц Австриа аибашьра иалагаанӡа, убри аҟнытә жьҭаарамза 29 рзы Германиантәи иааиз 160-нызқьҩык рыла ишьақәгылаз ар иманы қәылара ддәықәлеит. Ԥхынҷкәынмза 4 рзы афранцыз ар Мадрид иалалеит. Ажьырныҳәамза 16 рзы англызцәа Ла-Корунье амҵан Сульт ижәылара ааныркылан, аӷбақәа ирықәтәан, Испаниа аанрыжьит. Ажьырныҳәамза 1, 1809 шықәсазы Наполеон Австриа арратә ҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥныго, иара убас еизааигәахаз Талеирани Фушеи еиҵарҟәаҟәоз аусқәа (Наполеон Испаниа дыҟанаҵы дҭахар, Миурат императорс дҟарҵоит ҳәа еибырҳәеит) ирызкыз аацҳамҭа иоуит[12]. Ажьырныҳәамза 17 рзы иара Валиадолидынтәи Парижҟа ддәықәлеит[146]. Аихьӡарақәа шрымазгьы, Пиренеи ампыҵархалара хыркәшамызт: аиспанцәа апартизантә еибашьра иацырҵон, англызцәа Лиссабон рыхьчон, хымз рышьҭахь Уелсли напхгара зиҭоз англызцәа ҩаԥхьа адгьылбжьахабжаҿы иӡхыҵит[147]. Португалиатәии Испаниатәии аҳцәа рымчра анырцәыӡ, Англиеи аколониақәеи аилахәаахәҭра иалагеит[148]. Раԥхьаӡа акәны аибашьра Наполеон ахашәалахәы изаанагомызт, уи аҭыԥан ахарџь ҿыцқәеи асолдаҭцәеи иҭахын. Ахарџьқәа рыхҩаразы иԥиам ашәахтәқәа (аџьыкхыш, афатә аалыҵқәеи рзы) ирыцырҵеит, уи ауааԥсыра иргәамԥхеит[12]. Ацқьа Елена лыдгьылбжьахаҿы даныҟаз иҳәон: «арыцҳарақәа зегьы мзызс хаданы ироуит Испаниатәи аибашьра мыжда»[2][12].

Наполеон дацәнымхартә еиԥш ихәу Ланн иааигәара. Бутиньи (1894)

Пресбургстәи аҭынчратә еиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарҩыз аамҭа иалагӡаны ерцгерцорг Карл австриатәи ар шьаҭанкыла еиҭашьақәиргылеит, акырӡа еиӷьитәит. Германиа ицәырҵыз афранцызҿагыларатә гәалаҟазаарақәа ихы иархәаны, мшаԥымза 3, 1809 шықәсазы Австриа аимператор Франц I Франциа аибашьра рылеиҳәеит. Аибашьра ианалага ашьҭахь Австриа Британиа Ду аҟынтәи 1 млн фунт стерлинг инареиҳаны асубсидиа ҳасабала иаиуит[К 15]. Наполеон ари аибашьра иҽацәихьчарц иҭахын, аха Урыстәыла ацхыраарада уи илымшеит. Аха хымз рыҩныҵҟа, ажьырныҳәамза, 1809 шықәса инаркны иара илшеит Франциа ар ҿыц ашьақәыргылара. Ерцгерцог Карл аамҭакала Наполеон идгылаз Бавариаҟа аа-корпуск, Италиаҟа ҩ-корпуск, Варшаватәи герцограхь корпуск дәықәиҵеит. Аурыс ар Австриатәи аимпериа амрагыларатәи аҳәаақәа рҿы иҟан, аха еибашьуамызт, убри ала Австриа фронтк аҿы еибашьыртә еиԥш алшара арҭеит (уи Наполеон иԥсахы еибанакит)[150][97].

Реинтәи аидгыла аруааи жәа-корпуск рымчи рыла Наполеон Бавариа ажәылара ааникылеит, лаҵарамза 13 рзы Вена игеит. Австрицәа Дунаи аҩадатәи аԥшаҳәахьы ииасын, ацҳақәа дырбгеит. Наполеон иӡбеит Лобау адгьылбжьаха шьаҟас иҟаҵаны аӡиас дырырц. Аха афранцыз ар рыхәҭак адгьылбжьахахь ианиас, егьи рыхәҭак аҩадатәи аԥшаҳәахьы ианиас ашьҭахь, аамҭала иҟарҵаз ацҳа ԥжәеит, ерцгерцог Карл иӡхыҵыз асолдаҭцәа дрықәлеит. Лаҵарамза 21—22 рзы Асперни Есслинги имҩаԥысуаз аидыслараҿы Наполеон даҵахан, дхьаҵит. Аимператор ихаҭа данаҵаха, Европатәи иаӷацәа зегьы ргәы шьҭыҵит. Фымчыбжь инарҵауланы аҽазыҟаҵара ашьҭахь афранцыз ар Дунаи ирны ԥхынгәымза 5—6 рзы Ваграм имҩаԥысуаз аидыслара хадаҿы аиааира ргеит, уи иашьҭанеит ԥхынгәымза 12 рзы Цнаимтәи аинышәара, жьҭаарамза 14 рзы Шионбруннтәи аҭынчратә еиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Ари аиқәшаҳаҭрала Австриа Адриатәи амшын агаҿа ацәыӡит, уи иахҟьаны Франциа аҵакырадгьылқәа аиуит, урҭ рыла Наполеон Иллиритәи апровинциақәа шьақәиргылеит. Галициа Варшаватәи герцогра Ду иарҭеит, Тарнопольтәи аокруг — Урыстәыла. Австриатәи акампаниа иаанарԥшит Наполеон ир аибашьраҿы уаанӡа иамаз аԥыжәара уажәы ишамам[151][12][2].

Аимператор Наполеон Тиуильри иҟаз икабинет аҿы. Давид (1812)
Карта Европы 1812 года. Французская империя больше, чем современная Франция, поскольку включает в себя части современных Нидерландов, Италии и ряда других стран
Актәи аимпериа, 1812 шықәса     Наполеон ихаантәи Франциа     Ихьыԥшу аҳәынҭқаррақәа

Раԥхьатәи ашықәсқәа раан ауааԥсыра зегьы — ахатәтәыҩцәа рыдагьы, аӷарцәеи (аусуцәа, ақьаранџьцәа) Наполеон иполитика ргәы иахәон: аекономика аизҳазыӷьара аулафахәы ацнаҵон, уи ацҵара иацҳраауан, иара убас иааиԥмырҟьаӡакәа аррахь иахьаарыԥхьоз. Ажәлар Наполеон аԥсадгьыл аиқәырхаҩыс дырбон, аибашьрақәа рҿы аиааира аныргоз ажәлар ргәы шьҭыҵуан. Наполеон Бонапарт ареволиуциа абзоурала дшьақәгылеит, иааигәара иҟаз амаршалцәеи ар рԥызацәа шьахәқәеи иӷарыз, ихатәрамыз хылҵшьҭра рыман[12]. Аха хәыҷы-хәыҷла аибашьра ажәлар иарааԥсон, аррахь ааԥхьарақәа ргәы ԥнажәо иалагеит. 1810 шықәса инаркны 1815 шықәсанӡа аекономикатә кризис ыҟан. Европа ицоз аибашьрақәа иҵакыдахеит, урҭ аԥара рацәаны иахьрықәдырӡуаз абуржуазиа иарбыжкуан. Наполеон иаԥиҵаз Аамсҭара ҿыц дақәгәыӷыртә еиԥш иҟамлеит. Франциа ашәарҭара иҭагыламызт, Наполеон адәныҟатәи аполитикаҿы еиҳа-еиҳа ихшыҩ азишьҭуан иԥсҭазаара далҵыр, анархиа ҟамларц, иара убас Бурбонаа дырҩегьых аҳра рмоурц азы идинастиа аинтересқәа рырӷәӷәара[12][152].

Ажьырныҳәамза 12, 1810 шықәсазы Наполеон идинастиа еиқәирхарц азы Жозефинеи иареи еилыҵит, дара хшара рымамызт. Уи ашьҭахь иара Александр I диҳәеит 15 шықәса зхыҵуаз иаҳәшьеиҵбы Анна Павел-иԥҳа ԥҳәысс лгара азин ииҭарц. Наполеон еиликаауан Александр I ари дшақәшаҳаҭымхо, убри аҟнытә Франц I диҳәеит иԥҳа, австриатәи апринцесса Мариа-Луизеи иареи еибагарц. Мшаԥымза 1, 1810 шықәсазы Наполеони Мариа-Луизеи еибагеит. Хәажәкырамза 20, 1811 шықәсазы дара аԥа дроуит — Наполеон II; Мариа-Луиза афранцыз ҳкәажә Мариа-Антуанетта лашьа имоҭа лакәын, убри аҟнытә лԥа азин иман императорс аҟалара, аха афранцызцәа уи зынӡа иргәаԥхомызт[12][153].

Жәабранмза, 1808 шықәсазы афранцыз ар Рим ааныркылеит. Лаҵарамза 17, 1809 шықәсазтәи адекрет ала Римтәи папа иитәыз адгьылқәа зегьы Франциа иадлеит, папа ихаҭа иакәзар, имчра ицәыӡит. Аҭак ҳасабала папа Пии VII «Ацқьа Пиотр иҭынха арҳәҩцәа» ауахәама иаҟәырыҭхеит. Папа иусԥҟа Рим ихадоу ауахәамақәа ԥшьба рышәқәа рҿы икыдҵан, аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа зегьы ирзынашьҭын. Наполеон адҵа ҟаиҵеит папа дҭаркырц, ажьырныҳәамза 1814 шықәсанӡа дытҟәаны диман. Ԥхынгәымза 5, 1809 шықәсазы Франциа арра мчрақәа папа Савонаҟа дыргеит, уи ашьҭахь  — Париж амҵан иҟоу Фонтеблоҟа. Наполеон ауахәама данаҟәырыҭха ашьҭахь ҳаҭыр иқәрымҵо иалагеит, еиҳарак акатоликатә тәылақәа рҿы[154][12].

Аконтиненталтә блокада Британиа ду аԥхасҭа шанаҭазгьы, инагӡаны англызцәа ириааиртә зыҟамлеит. Рашәарамза З, 1810 шықәса рзы Наполеон Фуше имаҵура дамихит, аимператор инапынҵала акәызшәа имҩаԥигоз, аинышәара иадҳәалаз англызцәеи иареи маӡала реиҿцәажәарақәа ирыхҟьаны. Актәи аимпериа адгылаҩцәеи авассалцәеи, ринтересқәа рыгәхьаа мкыкәа аконтиненталтә блокада иадгылаз, уи ӷәӷәала ақәныҟәара иашьҭамызт, Франциеи дареи рыбжьара аибарххарақәа ирыцлон. Ԥхынгәымза 3, иара убри ашықәс азы Наполеон Голландиа акралс иҟаҵаз иашьа Луи дахиҳәеит аконтиненталтә блокадеи арекрут аизгаразы аҭахрақәеи дахьрықәымныҟәоз азы, Голландиа Франциа иадҵан. Аимператор аконтиненталтә система ахықәкқәа рынагӡара шалнамыршо ихеиҵеит, ах уи мап ацәимкит, Британиа Ду ахәаахәҭразы алицензиа ҷыдақәа ахьрырҭоз «асистема ҿыц» ҳәа изышьҭоу алеигалеит, насгьы алицензиақәа роураан еиҳарак аԥыжәара рыман афранцыз наплакқәа. Ари аӡбамҭа аконтиненталтә буржуазиа рыбжьара еиҳагьы аиӷара цәырнагеит[155].

Еиҳа-еиҳа иубарҭахон Франциеи Урыстәылеи реиҿагыларақәа. Германиа апатриотизмра азҳауан, Испаниа ишцац ицон герилиа[156][47].

Урыстәылаҟа аныҟәареи аимпериа аилаҳареи

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: 1812 шықәсазтәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра
Москва абылра. Адам (1841)
Наполеон Москвантәи ихьаҵра. Нортен (1851)

Наполеони Александр I реизыҟазаашьақәа анаԥырх, Наполеон иӡбеит Урыстәыла дақәларц. Европа еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи Ар Ду аҿы еизгаз 450 нызқьҩык асолдаҭцәа, рашәарамза 1812 шықәсазы аурыс ҳәаа иахысит; урҭ ирҿагылан 193 нызқьҩык асолдаҭцәа рыла ишьақәгылаз, ҩбаны ишаз аурыс мраҭашәаратәи ир [148][148]. Наполеон иҭахын аурыс ир ихадоу аидыслараҿы риааира; аха аурысцәа аԥыжәара змаз ар рҽацәырыхьчо атәыла агәахьы ихьаҵуан, рҽеибырҭарц азы, амҩан зегьы еимырҵәон. Ар ду амлакреи, ашоуреи, аҳәынҵәеи, урҭ ирыхҟьаз ачымазарақәеи иаргәаҟуан[157][158]; ԥхынгәымза аҽеиҩшамҭазы асолдаҭцәа гәыԥ-гәыԥла абналара иалагеит[159]. Смоленск амҵан рҽеидкыланы аурыс ир ақалақь ахьчара рҽазыршәеит, аха уи илҵшәадахеит; нанҳәамза 18 рзы Москваҟа еиҭа ихьаҵыр акәхеит. Аурыс иаку ир дахагылеит М. И. Кутузов. Цәыббрамза 7 рзы Москва уалалаанӡа иҟоу Бородино ақыҭаҿы аурысцәа еиҿыркааз аидыслара хада Наполеон аиааира изаанамгеит[160]. Аурыс ир ҩаԥхьа ихьаҵыр акәхеит. Цәыббрамза 14 рзы Ар ду Москва иалалеит[161].

Уи ашьҭахь абылра ҟалеит, ақалақь зегьы иалаблырц егьагымхеит. Наполеон аурыс ҳәынҭқар Александри иареи иаарласны аинышәара рыбжьарҵоит ҳәа дгәыӷуа акыр аамҭа Москва даанхеит; аҵыхәтәан, жьҭаарамза 19 рзы иара ақалақь далҵит алада-мраҭашәаратәи ахырхарҭала. Жьҭаарамза 24 рзы афранцыз ар Малоиарославц амҵан аурысқәа рыхьчара ԥыржәарц иалагеит, аха ирылымшеит, Ар Ду Смоленск ахырхарҭала ихьаҵыр акәхеит ихдырҵәахьаз аҭыԥқәа рыла[162]. Аурыс ир еицтәароу марш рхы иархәаны афранцызцәа ирышьҭан, аидысларақәа раан еиԥш, апартизанцәа рыцхырааралагьы аӷа ааха ирҭон. Амлакра иаргәаҟуаз Ар Ду асолдаҭцәа арҳәыҩцәаны, ақәымчаҩцәаны иҟалеит; згәы еибакыз ауааԥсырагьы агәымбылџьбара аадырԥшуа иалагеит, арҳәҩцәа рыԥсы шҭаз иржуан[163]. Абҵарамза аҽеиҩшамҭазы Наполеон Смоленск далалеит, аха ара афатә ҭаҵәахқәа изымԥшааит. Убри иахҟьаны иара аурыс ҳәаа аганахь дхьаҵыр акәхеит. Абҵарамза 27—28 рзы Березина арра аан, аџьабаа ду адбаланы, илшеит изаанхаз ир аиқәырхара. Еиуеиԥшым амилаҭқәа иреиуаз асолдаҭцәа рыла ишьақәгылаз ир, уаанӡатәи аибашьратә доуҳа рымамызт уажәшьҭа, рыԥсадгьыл иацәыхараны, Урыстәыла иахьыҟаз, ар ирласны еиҵахон. Ԥхынҷкәынмза 5 рзы Наполеон Парижҟа дцеит, избан акәзар Париж аилаҩынтра амҩаԥгара рҽазыршәоит ҳәа иаҳаит, уи адагьы ар ҿыц еизигарц иҭахын. Наполеон аҵыхәтәантәи ибиуллетен аҿы арыцҳара шыҟалаз дақәшаҳаҭхеит, амала уи аурыс ӡынра аџьбарара иахареиҵеит[164][165]. Аха аӡын ӷәӷәала аҵаара ианалага иныҟәара анҵәамҭазы ауп. Ар Ду ихадоу ахәҭа иалаз 450 нызқьҩык асолдаҭцәа рҟынтәи Урыстәылантәи ихынҳәит 25 нызқьҩык. Наполеон Урыстәыла даныҟаз иҽқәа зегьы ицәыӡит; ари ацәыӡ ахарҭәаара уаҳа илымшеит[2].

Наполеон аурыс кампаниаҿы иаҵахара иара изымиааира иазкыз алегенда аҵыхәа ԥнаҵәеит. Аурыс ир шааԥсазгьы, урҭ рԥызацәа Урыстәыла анҭыҵ еибашьра шырҭахымызгьы, Александр I иӡбеит аибашьра Германиа аҵакырадгьылахь ииаргарц. Пруссиа Наполеон иҿагылаз акоалициа ҿыц иалалеит[2][148]. Мызқәак рыла Наполеон 3 нызқьҩык арԥпарцәеи абыргцәеи рыла ишьақәгылаз ар ҿыц еизигеит, урҭ Германиаҟа амҩа ишықәыз иазыҟарҵеит. Лаҵарамза, 1813 шықәсазы Лиутцени Бауцени ицоз аидысларақәа раан Наполеон аҽыр шизымхозгьы илшеит аиааира агара. Рашәарамза 4 рзы аинышәара рыбжьарҵеит, Австриа еибашьуаз атәылақәа рыбжьара бжьаҟазас иқәгылеит. Австриа адәныҟатәи аусқәа рминистр Меттерних Дрезден имҩаԥысуаз аиԥыларақәа раан ажәалагала ҟаиҵон абарҭ аилаӡарақәа: Пруссиа аиҭашьақәыргылара, Польша Урыстәылеи, Пруссиеи, Австриеи рыбжьара аихшара, австрицәа Иллириа рзырхынҳәра рыла аинышәара рыбжьарҵарц. Аха Наполеон мап ацәикит, избанзар иара имчра аиааирақәеи ампыҵахаларақәеи роуп изызку ҳәа иԥхьаӡон[12][148].

1814 шықәсазтәи акампаниа. Месонье (1864)

Зфинанстә ҭагылазаашьа уадыҩыз Австриа Англиатәи асубсидиақәа ихнахын, нанҳәамза 10 рзы аинышәара анхыркәшаха, афбатәи акоалициа иалалеит. Швециагьы убас иҟанаҵеит. Трахенбергтәи аплан инақәыршәаны адгылаҩцәа Бернадотти, Блиухери, Шварценберги напхгара зырҭоз х-рык еиҿыркааит. Наполеонгьы ир хәҭа-хәҭала ишеит. Дрезден ицоз аидыслара ду аҿы Наполеон адгылаҩцәа дыриааит; аха иара имаршалцәа рхала адҵақәа аныҟарҵоз Кульма, Кацбах, Гросберен, Денневиц ицоз аибашьрақәа ӷәӷәала иаҵахеит. Наполеон ашәарҭара дышҭагылазгьы, 160-нызқьҩык злаз ар иманы Леипциг амҵан 320-нызқьҩык рҟынӡа инаӡоз еиду аурыс, Австриатәи, Пруссиатәи, Шведтәи ар драбашьит (жьҭаарамза 16 — 19, 1813 шықәса). Ари «Ажәларқәа реибашьра» ҳәа изышьҭаз аибашьра адырхаҽны адгылаҩцәа рганахь ииасит Ренье икорпус аҟынтәи асаксцәа, анаҩс Виуртембергтәи аҽыргьы[12][97][61].

Ажәларқәа ребашьра данаҵаха ашьҭахь Германиеи Голландиеи Наполеон ихьыԥшымзт, Швеицариатәи аконфедерациеи, Реинтәи аидгылеи, Италиатәи акралреи еилаҳаит. Афранцызцәа ахьаҵахоз Испаниа Наполеон Испаниатәи Бурбонаа ҩаԥхьа амчра риҭар акәхеит (абҵарамза, 1813 шықәса)[12][166][167]. Адепутатцәа идгылартә азы, ԥхынҷкәынмза, 1813 шықәсазы, Наполеон Азакәанԥҵаратә корпус аилатәара мҩаԥигеит, аха апалата иоуишьҭит игәы иақәымшәоз ақәҵара ианрыдыркыла ашьҭахь[12]. 1813 шықәса анҵәамҭазы аидгылатә ар Реин ирын, Бельгиа иалалан, Парижҟа идәықәлеит. Ажьырныҳәамза 23, 1814 шықәсазы Наполеон аруаа рзы Тиуильри аҵыхәтәантәи ахәылԥаз мҩаԥигеит. Ажьырныҳәамза 25 ашамҭазы Наполеони иԥеи наӡаӡа еиԥырҵит. Наполеон ар рахь иҿааихеит. 250 нызқьҩык адгылаҩцәа рыр Наполеон 80 нызқьҩык арекрутцәа ракәын ирҿаиргылар илшоз. Аидысларақәа рсериаҿы иара хазы игоу адгылаҩцәа реидгылақәа дыриааит. Аха хәажәкырамза 31, 1814 шықәсазы аурыс ҳәынҭқар Александр I, иара убас Пруссиа акрал напхгара зырҭоз акоалициатә ар Париж иалалеит[12].

Аимператортәи Акралтәи иаҳаракыра Наполеон I, Анцәа илыԥхеи Ареспублика Аконституциеи рыла, Афранцызцәа Римператор, Италиа Акрал, Рим Аимператор, Реинтәи Аидгылеи Данцигтәи ареспубликеи Рпротектор, Швеицариатәи Аконфедерациа Амедиатор, Андорра Аҭауади Ацнапхгаҩи, Аҳаҭыртә Легиони, Аихатә Гәыргьыни, Академиатә пальмақәеи, Аиҭеидылареи Рорден Амагистр Ду (лаҵарамза 18, 1804 — мшаԥымза 6, 1814; хәажәкырамза 20 — рашәарамза 22, 1815).

Ельба Аҭауад (лаҵарамза 3, 1814 шықәса — жәабранмза 25, 1815 шықәса).

Ельба адгьылбжьахеи Шәымши

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Раԥхьаӡа амчра ааныжьреи ахгареи

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Мшаԥымза 20, 1814 шықәсазы Наполеони аимператортә гвардиеи еиԥырҵуеит. Монфор (XIX век)
Амчра ааныжьра ашьҭахь Фонтенбло ахан аҿы. Деларош (1845)
Сан-Мартино иҟаз Наполеон ивилла (Ельба).

Наполеон ақәԥара дазхиан, аха мшаԥымза 3 рзы Асенат амчра иамхра рыланаҳәеит, Талеиран дызхагылаз аамҭалатәи аиҳабыра еиҿнакааит. Амаршалцәа (Неи, Бертье, Лефевр) иабжьыргон иҷкәын изы амчра мап ацәикырц. Мшаԥымза 6, 1814 шықәсазы Париж амҵан иҟоу Фонтенбло ахан аҿы Наполеон амчра аанижьит[12]. Наполеон дахьаҵахаз, насгьы иара ицнагаҩцәеи иаҳҭынуааи дахьрыԥсахыз (уи иааигәара аӡәык — ҩыџьак амаҵуцәа, аҳақьым, аинрал Коленкур ракәын иаанхаз) азы, мшаԥымза 12-13, 1814 шықәсазы Фонтенбло дахьыҟаз иҽишьырц иӡбеит — Малоиарославц амҵан аибашьра ашьҭахь еснагь иныҟәигоз ашҳам ижәит. Аха ашҳам акраамҭа иахьыҵәахыз иахҟьаны еилабааит, Наполеон деиқәхеит[168][169]. Наполеон еидгылаз амонархцәеи иареи рнапы зҵарҩыз Фонтенблотәи аиқәшаҳаҭрала Адгьылбжьаратә мшын аҿы иҟоу адгьылбжьаха хәыҷы Ельба иоуит. Мшаԥымза 20, 1814 шықәсазы Наполеон Фонтенбло ааныжьны хгара ҳәа дцеит[12].

Наполеон активла иҽазикит Ельба адгьылбжьаха аекономика аҿиара. Фонтенбло аиқәшаҳаҭра аилаӡарақәа инарықәыршәаны, франциатәи аԥараҵәыхырҭа аҟынтәи 2 млн франк ҳәа есышықәсатәи арента ихәҭан. Аха иара аԥара имоуит, насгьы 1815 шықәса алагамҭазы афинанстә ҭагылазаашьа уадаҩ дҭагылеит[170]. Мариа-Луиза лԥеи лареи Франц I имшала Наполеон иахь имцаӡеит. Жозефина Мальмезон даныҟаз лыԥсҭазаара далҵит лаҵарамза 29, 1814 шықәсазы, ԥыҭрак ашьҭахь Наполеон дызхәышәтәуаз аҳақьым иара ишиеиҳәаз ала, «иара изы агәырҩеи агәҭынчымреи ирыхҟьаны». Наполеон иуацәа рахьтә иани иаҳәшьа Полинеи роуп Ельбаҟа ибара иааиз. Наполеон Франциа имҩаԥысуаз ахҭысқәа дрызҿлымҳаны дрышьклаԥшуан, асасцәа идикылон, насгьы идгылаҩцәеи иареи маӡала ашәҟәқәа еимырдон[16][12].

Мшаԥымза 24, 1814 шықәсазы Кале дыӡхыҵит Англиантәи иааиз Лиудовик XVIII. Бурбонаа ирыцхынҳәит амазареи азин ҷыдеи рырхынҳәра иашьҭаз аемигрантцәа («урҭ акгьы рзеилымкааит, акгьы рхамышҭӡеит»). Рашәарамзазы акрал Франциа аконституциа ҿыц аиҭеит. 1814 шықәсазтәи аконституциа аимпериатә ҭынха иадҳәалаз ирацәаны еиқәнархон, аха амчра аҳәынҭқар изааигәази иареи рнапаҿы иҟан. Ароиалистцәа ажәытә закәанқәа инагӡаны рырхынҳәра рҭахын. Аемигрантцәеи ауахәамеи анкьа ирымырхыз адгьылқәа зымпыҵазкыз, уажәы рмазаразы ргәы ҭынчмызт. Аруаа ар иаалырҟьаны армаҷра ргәамԥхеит[171][16]. Цәыббрамза, 1814 шықәсазы Венатәи аконгресс аҿы еизаз еидгылаз аҳәынҭқаррақәа рҽеиҩыршеит рнапаҿы иааргаз аҵакырадгьылқәа реихшара азҵаара иахҟьаны[172].

Шәымши аҩынтә раан амчра ааныжьреи

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Шәымш
Наполеон Ельба аанижьуеит. Бом (1836)
Наполеон Ватерлоо даныҟаз (аидыслара ахьцоз аҭыԥ апанорама ахәҭа)

Аполитикатә ҭагылазаашьа маншәала ихы иархәаны Наполеон Ельба адгьылбжьаха аҟынтәи дыбналеит жәабранмза 26, 1815 шықәсазы. Хәажәкырамза 1 азы Канн ирцәыхарамкәа зықьҩык асолдаҭцәа ицны Жуан аӡыбжьахалаҿы дыӡхыҵын, Гренобль иалсны ицоз амҩала, ароиалистә гәалаҟазаара аԥыжәара ахьамаз Прованс дакәшаны, Парижҟа иҿааихеит. Хәажәәкырамза 7 рзы Гренобль уалалаанӡа ахәбатәи ацәаҳәатә полк Наполеон иахь ииасит агәеизҳара зныԥшуаз иқәгылара ашьҭахь: «Шәимператор шәиеихсны дышәшьыр шәылшоит ишәҭаххар!» Наполеон Гренобль инаркны Парижынӡа данцоз, ажәлар игәырӷьаҵәа иԥылон. Хәажәкырамза 18 рзы Осер азааигәара иара иахь диасит «Бонапарт абыцаҟьа дҭакны даазгоит» ҳәа Лиудовик XVIII ажәа изҭаз Неи. Хәажәкырамза 20 рзы Наполеон Тиульри далалеит[2][173].

Венатәи аконгресс аҿы аҳәынҭқаррақәа реилибамкаарақәа рҭыԥ иқәырҵеит Наполеон аӷбақәа данрықәтәоз аамҭазы[174]. Наполеон Франциа дыҟоуп ҳәа адырра анроу, хәажәкырамза 13 рзы изинқәа шимырхыз атәы рыларҳәеит[175]. Хәажәкырамза 25 рзы аҳәынҭқаррақәа абыжьбатәи акоалициа ҿыц ҳәа рҽеидыркылеит, 600 нызқьҩык асолдаҭцәа ықәдыргылоит ҳәа еибырҳәеит[176]. Наполеон аҭынчмҩа дшашьҭоу баша агәра диргон. Франциа ишьақәгыло иалагеит аԥсадгьыл ахьчаразы ареволиуциатә федерациақәа. Лаҵарамза 15 рзы ҩаԥхьа Вандеиа ақәгылара ҟалеит, абуржуазиа ду амчра ҿыц иазхьамԥшуа иалагеит. Аха Наполеон адәныҟатәии аҩныҵҟатәии аӷацәа рҿагыларазы ажәлар рреволиуциатә гәалаҟазаарақәа ихы иаимырхәеит («Жакериа акралс аҟазаара сҭахӡам»). Алибералтә буржуазиа дақәгәыӷуа, Констан идиҵеит аконституциа ҿыц апроект аԥҵара. Ари аконституциа аплебисцит (аплебисцит иаҭааз маҷҩын) аан рыдыркылеит, насгьы аратификациа азыруит рашәарамза 1, 1815 шықәсазы Лаҵаратәи адәаҿы[12][177]. Аконституциа ҿыц инақәыршәаны Аперцәа рпалатеи Ахарҭарнакцәа рпалатеи еиҿкаан[178].

Аибашьра еиҭа иалагеит, аха Франциа еибашьыртә еиԥш уажәшьҭа алшарақәа амамызт. Рашәарамза 15 рзы Наполеон Бельгиа далалеит. Уа иара аурысцәеи австриицәеи аиаанӡа Британиатәии (Веллингтон напхгара зиҭоз 90-нызқьҩы асолдаҭцәа) Пруссаитәии (Блиухер напхгара зиҭоз 120-нызқьҩы асолдаҭцәа) ар дыриааирц гәҭакыс иман. Катр-Бреи Линьеи имҩаԥысуаз аибашьрақәа рҿы абританцәеи апруссакцәеи инагӡаны дырзымиааит. Аха рашәарамза 18, 1815 шықәсазы Бельгиа иҟоу ақыҭа Ватерлоо азааигәара Наполеон аибашьра хада даҵахеит. Рашәарамза 21 рзы, ир ааныжьны Парижҟа дхынҳәит[12].

Рашәарамза 22 рзы Ахаҭарнакцәа рпалата Фуше напхгара зиҭоз аамҭалатәи еиҳабыра еиҿнакааит. Дара ирҭахын Наполеон амчра аанижьырц. Убри аҽныҵәҟьа Наполеон аҩынтә раангьы амчра аанижьит. Рашәарамза 25 рзы Франциа аанижьыр акәхеит. Ԥхынгәымза 15 рзы, Британиа Ду аиҳабыра дақәгәыӷны, Екс адгьылбжьаха азааигәара хатәгәаԥхарала «Беллерофон» ҳәа хьӡыс измаз англыз цәаҳәатә ӷба дақәтәеит. Иара иаӷацәа  — англызцәа  — рҿы аполитикатә ҽыҵәахырҭа иоуеит ҳәа дгәыӷуан[12].

Ацқьа Елена лыдгьылбжьаха

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Иахыргаз Наполеон дахьынхоз Ацқьа Елена лыдгьыбжьахаҿы иҟоу Лонгвуд-Хаус анхара.
Наполеон Ацқьа Елена лыдгьылбжьахаҿы даныҟаз. Зандманн (XIX век)
Наполеон Лас Каз амемуарқәа дизаԥхьоит. Орчардсон (XIX век)

Аха Британиа аминистрцәа реилазаара даҽакала иаӡбеит: Наполеон дбаандаҩыртәын, Атлантикатәи аокеан аҿы иҟоу Ацқьа Елена лыдгьылбжьахахь ддәықәырҵеит (абританцәа уи Европа иацәыхараны иахьыҟоу азы иалырхит, избан акәзар Наполеон ҩаԥхьа дрыцәцар ҳәа ишәон). Наполеон ари ақәҵара аниаҳа, абас иҳәеит: «Ари Тамерлан иеихатә ԥыркы аасҭа еицәоуп! Бурбонаа срырҭар еиҳа еиӷьасшьон».

Нанҳәамза 9, 1815 шықәсазы уаанӡатәи аимператор аӷба "Нортумберленд" дақәтәаны Европа аанижьит[179][12]. Наполеон азин иоуит иццаша афицарцәа ралхра; Бертран, Монтолон, Лас Каз, Гурго алихит; иааидкыланы Наполеон игәыԥ аҿы 26-ҩык ыҟан, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан акамердинер Луи-Жозеф Маршан . Иӷба иацын 1000-ҩык аруаа зҭаз жәа-ӷбак. Жьҭаарамза 17, 1815 шықәсазы Наполеон Џеимстаун днеит.[180]

Наполеони афицарцәеи рынхарҭа ҭыԥны иҟалеит Лонгвуд-Хаус (алеитенант-губернатор ԥасатәи ирезиденциа), уи Лонгвуд ақыҭан, ашьха ахәҵаҿы иҟоуп, уаҟа аҳауа цәаакуп, насгьы аклимат бааԥсуп. Аҩны иакәшаны игылан аҟарулцәа, аԥшыхәцәа асигналтә бираҟқәа рыла Наполеон иҟаиҵоз зегьы иазкны адырра ҟарҵон[181]. Мшаԥымза 14, 1816 шықәсазы иааиз Лоу агубернатор ҿыц иахырҳәаз аимператор ихақәиҭра еиҳагьы иԥикит. Аиашазы, Наполеон абналара игәы иҭаӡамызт. Ацқьа Елена лыдгьылбжьахахь даннеи, Ост-Индтәи еилахәыра асуперинтендант Балкомба иԥҳа, 14-шықәса зхыҵуаз Бетсии иареи еиҩызцәахеит, хәыҷҵас еицыхәмаруан. Анаҩстәи ашықәсқәа раан адгьылбжьахаҿы иаанкылоз асасцәа идикылон.

Рашәарамза, 1816 шықәсазы игәалашәарақәа рыҩра далагеит, урҭ Ацқьа Елена лмемориал» ҳәа хьӡыс аҭаны Лас Каз иҭижьит Наполеон иԥсҭазаара даналҵ ҩышықәса рышьҭах. «Амемуарқәа» ҳәа захьӡу ашәҟәы ХIХ-тәи ашәышықәсан зегь раасҭа изыԥхьоз шәҟәны иҟалеит[182][12].

1820 шықәсазы америкатәи аконтрабандист Џьонсон иҽазикит ихатә системала иргылаз аӡаҵаҟатәи аӷба ихы иархәаны Наполеон I ихы дақәиҭитәырц. Аргыларазы аԥара еизган, аха убри аамҭазы аимператор иԥсҭазаара далҵит.

Наполеон ихчы иҵхны дышьҭоуп. Верне (1826)

Жьҭаарамза 1816 шықәса инаркны Наполеон игәабзиара еицәахо иалагеит — адәылҵра, аныҟәара дахьаҟәыҵыз иахҟьаны (Лоуи иареи аимак анроу ашьҭахь, иара аныҟәара мап ацәикит), насгьы есымша игәы каҳаны дыҟан. Жьҭаарамза, 1817 шықәсазы Наполеон иҳақьым О'Мира «агепатит» адиагноз изышьақәиргылеит. Раԥхьаӡа иара Европатәи аполитикаҿы аԥсахрақәа ҟалоит, насгьы иара иахь агәыблыра змаз апринцесса Шарлотта Британиа амчра лоуеит ҳәа дақәгәыӷуан, аха апринцесса лдунеи лыԥсахит абҵарамза, 1817 шықәсазы. 1818 шықәсазы Балкомбаа адгьылбжьаха ааныжьны ицеит, Лоу О’Мир адгьылбжьаха далицеит[183].

Наполеон иуасиаҭ

1818 шықәсазы Наполеон адепрессиа изцәырҵит, лассы-лассы дычмазаҩхон, сарӷьа ган сыхьуеит ҳәа дашшуан. Ари иаб дызхыԥсааз акьыба чымазароуп ҳәа игәы иаанагон. 1819 шықәсазы цәыббрамзазы Наполеон иани акардинал Феши иаарышьҭыз аҳақьым Антоммарки адгьылбжьахахь днеит, аха ачымазаҩ ицхраара илымшеит. Хәажәкырамза, 1821 шықәса Наполеон игәабзиара убриаҟара еицәахеит, иԥсра лассы шааигәахоз еиликаауан. Мшаԥымза 15, 1821 шықәсазы иуасиаҭ иҳәеит. Наполеон иԥсҭазаара далҵит асабша, лаҵарамза 5, 1821 шықәса, асааҭ 17:49 рзы. Даныԥсуаз "Ар ахы!" ҳәа иҳәеит ( афр. La tête de l'armée! ).

Лаҵарамза 6 рзы аԥсрашьҭахьтәи сабрада ҟаҵан, аха уи ҟазҵаз аҳақьым дызусҭоу иахьагьы идырым[К 16][184]. Еиду Америкатәи аштатқәа рҿы Наполеон ицыхцәы иаанханы иҟоуп, аха уи иара ишитәыҵәҟьаз иазкны аимак ыҟоуп[185]. Наполеон анышә дамардеит Лонгвуд иацәыхарамкәа, Торбет аӡыхь азааигәара[186][187].

Наполеон ашҳам иҭаны дыршьит ҳәа агәаанагара ыҟоуп. 1960 шықәсазы Стен Форсхуфвуд аус ицызуази иареи Наполеон ихцәы анҭырҵаа, аҳәынаԥшьыга рыԥшааит. Аха 1990-2000-тәи ашықәсқәа рзы хыԥхьаӡара рацәала имҩаԥгаз анализқәа иаадырԥшуеит Наполеон ихцәаҿы аҳәынаԥшьыга алазаара есыҽны, уимоу зны-зынла мышкы аҩнуҵҟагьы аҽшаԥсахуаз. Иҟалап уи Наполеон ихцәы аҿышразы аҳәынаԥшьыга злаз аххыра ихы иахьаирхәоз иахҟьазар; иара убас Наполеон ибзиабаҩцәа ҳамҭас ириҭоз ихахәы, усҟантәи аамҭазы иҟаз аҵас ала, аҳәынаԥшьыга злаз аххыраҿы ирҵәахуан[188]. Ашҳам ирҭеит ҳәа атеориа иахьатәи аамҭазы ишьақәырӷәӷәам[189][190]. 2007 шықәсазы имҩаԥгаз аҭҵаара алҵшәала агастроентерологцәа ишьақәдырӷәӷәеит аимператор иԥсра зыхҟьаз раԥхьаӡатәи аофициалтә версиа – аца акьыбачымазара ауп (аԥсыбаҩ аҭҵаара ирнаҭаз адыррақәа рыла, аимператор ақьамсарҩақәа ҩба иман, урҭ руак игәаҵәа аҟынӡа инаӡон)[191][192].

Аинвалидцәа рыҩнаҿы иҟоу Наполеон идамра
Акрипта аҩналарҭа

1840 шықәсазы аҳ Луи-Филипп I Ацқьа Елена лыдгьылбжьахахь Бертрани Гургои злаз аделегациа дәықәиҵеит Наполеон иуасиаҭ анагӡаразы — Франциа анышә дамардарц. Уи аделегациа дахагылан Жуанвильтәи принц. Наполеон иԥсыбаҩ акаԥдан Шарне напхгара зиҭоз афрегат «Бель Пуль» ала Франциаҟа ииаган. Ԥхынҷкәынмза 15 рзы акортеж миллионҩык афранцызцәа ишырбоз Париж амҩадуқәа ирывсит. Аԥсыбаҩ анышә иамардеит Аинвалидцәа рыҩны аҿы Наполеон имаршалцәа алархәны[193][194][195].

Аимператор Наполеон иԥсыбаҩқәа зҭоу акварцит-ԥслымӡхаҳә ҟаԥшь («шокшинтәи апорфир»[196]) иалху аҭоубыҭ, Висконти иҟаҵамҭа, аныхабаа акрипт аҿы иҟоуп[197]. Акрипта аҩналарҭа рыхьчоит аскипетр, аимператор игәыргьын, адержава зку аџьазтә фигурақәа ҩба. Адамра иакәыршоуп Наполеон иҳәынҭқарратә усқәа ирызку амармалташьтә барелиефқәа 10, иеибашьратә кампаниақәа ирызку, Прадье иҟаиҵаз аҳаҭәарақәа 12[198].

Аҳәынҭқарратә напхгараҭара

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Наполеон ибиуст. Канова (1802 ш. ашьҭахь)

Арратә иааирақәеи афранцыз ар рымпыҵахаларақәеи ракәӡам Наполеон иҭынха ихадоу хәҭаны иҟоу, аха аҳәынҭқарратә напхгараҭараҿы иеихьӡарақәа роуп. Насгьы арҭ аихьӡарақәа рахьтә ихадақәоу Аконсулра иҭынчыз ашықәсқәа ирықәшәоит. Аҭҵааҩы Џ. Еллис игәаанагарала, уи ус шакәу шьақәурӷәӷәар улшоит баша реиқәыԥхьаӡарала: Франциа абанк ашьақәгылара (ажьырныҳәамза 6, 1800 ш.), апрефектцәа (жәабранмза 17, 1800 ш.), Аконкордат (рнапы аҵарҩит ԥхынгәымза 16, 1801 ш.), алицеиқәа (лаҵарамза 1, 1802 ш.), Аҳаҭыртә легион аорден (лаҵарамза 19, 1802 ш.), афранк жерминаль абиметалликатә стандарт (хәажәкырамза 28, 1803 ш.), Атәылауаҩратә закәанеидкыла (хәажәкырамза 21, 1804 ш.)[199]. Арҭ аихьӡарақәа ҳаамҭазтәи адунеи шьақәдыргылеит; Наполеон иахьатәи Европа аб ҳәа дрыԥхьаӡоит[200]. Е. Робертс излеиҳәо ала:

Иахьатәи ҳдунеи ашьақәгылара шьаҭас иазышьҭоу аидеиақәа — америтократиа, азакәан аҿаԥхьа аиҟарара, ахатәтәратә зинқәа, адинхаҵаратә чҳара, иахьатәи асекулиартә ҵара, афинанстә ҭагылазаашьа бзиа, уҳәа убас егьырҭгьы — ихьчеит, еидикылеит, ишьақәирӷәӷәеит, акодификациа рзиуит, географиала ирылеиҵәеит [Бонапарт] Наполеон. Урҭ ирыциҵеит ихшыҩрку, хра злоу аҭыԥантәи ахадара, ақыҭа ақәылаҩцәа раанкылара, аҭҵаарадырреи аҟазареи адгылара рыҭара, афеодализм аԥыхра, Римтәи аимпериа анеилаҳа нахыс имҩаԥырымгоз азакәанқәа акодификациа рзура.

The ideas that underpin our modern world — meritocracy, equality before the law, property rights, religious toleration, modern secular education, sound finances, and so on — were championed, consolidated, codified and geographically extended by Napoleon. To them he added a rational and efficient local administration, an end to rural banditry, the encouragement of science and the arts, the abolition of feudalism and the greatest codification of laws since the fall of the Roman Empire[201].

Наполеон иҭынха даҽа елементны иҟалеит иара иаԥиҵаз Франциа аҳәынҭқарра анапхгараҭаратә система — аунификациа зызуз ачынуаа рмардуан ала еизадоу авторитартә напхгара. Ари асистема елементқәак иахьагьы ахархәара рымоуп Ахәбатәи ареспублика апарламенттә демократиаҿгьы[202].

Аполитикатә хырхарҭақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ахәбатәи ацәаҳәатә полки Наполеони иахьеиԥылаз «аиԥылара адәҳәыԥш» аҿы Гренобль азааигәара иҟоу Лаффре игылоу Наполеон ибаҟа

Аполитикаҿы Наполеон I абонапортизм аанижьит. Раԥхьаӡа акәны ари ажәа ихьымӡӷу аҵакы аҭаны рхы иадырхәит иара иаӷацәа 1814 шықәсазы, аха 1848 шықәсазы Наполеон III идгылаҩцәа иахьа иамоу аҵакы аиуртә еиԥш иҟарҵеит[203]. Хаҿыда иалырхуа аиҳабыра шьаҭас измоу ареспубликанизми, амилаҭ рымчра мап ацәызкуа амонархизми инарҷыданы абонапортизм аан амилаҭ ахаҭарнак заҵәык (арратә диктатор) дрымоуп[204]. Аполитикатә хырхарҭак аҳасабала абонапортизм еиҳарак ахатәы хыҵхырҭақәа амоуп («алегитимра») афедерациақәа (афр. fédérés) «Шәымш» ҳәа изышьҭоу раан ирҭаз адгылара ду аҿы, Наполеон иплебисцитқәа рҿы аасҭа[205][206]. «Ацқьа Елена лмемориал» абонапортизм иаԥшьашәҟәны иҟалеит; иара иполитикатә кульминацианы иҟалеит 1848 шықәсазы Лиудовики Гортензиеи рԥа, Наполеон III, аҩбатәи Франциатәи ареспублика ахадас иалхра. XX ашәышықәса алагамҭазы абонапартизм аепоха хыркәшахеит[207].

Европа ампыҵахалара еснагь Наполеон иҭынха ихадоу хәҭаны иахәаԥшуан, уи џьашьатәӡам аконтинент аполитикатә географиаҿы иҟаиҵаз хнырҳәышьа змам аиҭакрақәа урыхәаԥшыр[208]. Афранцыз револиуциа аламҭалазы Германиа 300 ҳәынҭқарра рыла ишьақәгылаз конгломератк акәын. Наполеон илшамҭақәа Реинтәи аидгыла, Вестфальстәи акралра, амедиатизациа, асекулиаризациа, Атәылауаҩратә закәанеидкыла алагалара, «бџьарла» ирылаирҵәаз афранцыз культура, уҳәа реиԥш иҟоу Германиа аполитикатә ҽыԥсахрақәа цәырыргеит. Аамҭа цацыԥхьаӡа арҭ аҽыԥсахрақәа иаку анемец ҳәынҭқарра шьақәдыргылеит[209]. Убасҵәҟьа Наполеон ибзоурала Италиа аҩныҵҟатәи аҳәаақәа раԥыхра, иаку азакәанԥҵареи азеиԥш арратә уалԥшьеи ралагалара рисорџьименто азы ауасхыр азышьҭарҵеит[210].

Наполеон 1806 шықәсазы. Детаиль (XIX ашәышықәса)

Наполеон еиҳа деицырдыруеит арратә қәҿиара дуқәа рыла[211]. Афранцыз револиуциа аҟынтә еибашьра зылшоз ар аниоу, иара иалеигалеит имаҷымкәа апринциптә еиӷьтәрақәа, урҭ роуп акампаниақәа рҿы аиааира агара алзыршаз. Арратә литература инарҭбааны аҭҵаара ицхрааит аманиоврреи аихатырреи шьаҭас измоу ихатә знеишьа аԥҵара[212]. Иара қәҿиарала ихы иаирхәон еилаԥсоу аибашьратә еиҿкаара (Гибер раԥхьаӡа акәны ирыдигалаз аишьҭагылеи ацәаҳәеи реилаҵа, насгьы Грибоваль иаԥиҵаз амобилтә артиллериеи[213][214]). Карно, Моро, Бриун ридеиақәа шьаҭас иҟаҵаны, Наполеон афранцыз ар корпустә система аҳасабала еиҭеиҿикааит, урҭ зегьы ашьаҟар, аҽыр, артиллериа иаҵанакуан, насгьы акорпусцыԥхьаӡа ахала аусура алшон[215]. Бертьеи Диуроки напхагара зырҭоз аимператортә уада хада ар иаку рнапхгараҭара алнаршон, аԥшыхәратә дыррақәа еизнагон, асистематизациа рызнауан, Наполеон апланқәа рышьақәыргылара иацхраауан, насгьы ар адҵақәа ирзынашьҭуан[216][217]. Ахыхьчара аасҭа ажәылара еиҳа аԥыжәара аҭо, Наполеон ааха хада ахырхарҭаҿы имчқәа ирласны иахьеизикуаз ала аӷа дԥыххаа дықәиҵон[218][61][219].

Наполеон истратегиа анализ азураан «Наполеон ижәар» иара ихатә ажәақәа аанагоит: «Сара еснагь зегьы сырзыҟаҵоушәа угәы иаанагозар, уи зыхҟьо акы ҟасҵаанӡа акыраамҭа уи сахьазхәыцуаз ауп; иҟалараны иҟаз заа издыруан. Аҟыбаҩ акәӡам иаалырҟьаны исаҵазҳәо сызқәымгәыӷуа аҭагылазаашьақәа раан исҳәаша, иҟасҵаша — аха уи сыхшыҩзцареи схәыцреи роуп исазҳәо»[47][219].

Наполеон иеибашьратә еихьӡарақәа анаҩстәи ашәышықәса арратәи ауаажәларратәи хәыцшьа ашьҭа рнырҵеит. Ч. Исдеил ишааирԥшуа ала, 1866, 1870, 1914 ашықәсқәа рзы ажәларқәа Наполеон дыргәаладыршәо еибашьра ицон, насгьы аибашьра аҵыхәтәа ихадоу еибашьрак аҿы аиааирала ишышьақәыргылахо еснагь иазхәыцуан. Шлиффен иплан — Наполеон ихыркәшаратә маниовр иблахкыгоу анагӡашьа акәын (афр. manoeuvre sur les derrières). Аибашьра амундир цырцырқәеи амарш ӷьеҩқәеи ирыдырҳәало иалагеит. Хәыҷы-хәыҷла ирхашҭит аибашьра иацу агәаҟрақәа ртәы. Усҟантәи амедицина аҭагылазаашьа ҳасаб азуны уахәаԥшуазар, аибашьра иахҟьаз ахәрақәеи ачымазарақәеи арыцҳара дуқәа рызцәырнагон. Наполеон иеибашьрақәа ирылаӡит 5 миллионҩык иреиҵамкәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аруааи атәылақәа руааԥсыреи[220].

Е. Робертс ишазгәеиҭо ала, Наполеон аԥа диоурц азы Жозефинеи иареи еилыҵит. Урҭ ишеилыҵызгьы, лара лмоҭа иоуп Франциа аимператорс иҟалаз. Жозефина лхылҵшьҭра Бельгиа, Даниа, Швециа, Норвегиа, Лиуксембург аҳра руеит. Наполеон ихылҵшьҭра џьаргьы аҳра руӡом[221]. Наполеон иԥазаҵә, Наполеон захьӡыз, ахшара имамкәа дышқәыԥшыз иԥсҭазаара далҵит. Аҭаацәара далаламкәа иоуз ахшара рҟынтәи «Наполеон ижәар» аҿы ҩыџьазаҵәык роуп иарбоу — Александр Валевскии Шарль Леони[25], аха егьырҭ рызгьы аршаҳаҭгақәа иҟоуп[222]. Колонна-Валевски рышьҭра иахьагьы иҟоуп[223].

Наполеон икалам иҵыҵит ақәыԥшратә максимализми ареволиуциатә гәалаҟазаарақәеи зныԥшуа еиуеиԥшым ажанрқәа ирыҵаркуа заатәи усумҭақәак («Маттео Буттафуоко иахь асалам шәҟәы», «Корсика аҭоурых»[224], «Абзиабара иазку аиҿцәажәара»[225], «Уаххьа Боккер аҿы», «Клиссони Евгениеи» уҳәа убас егьырҭгьы)[16]. Иара имаӡаныҟәгаҩцәа дырзаԥхьеит, насгьы ихала иҩит хыԥхьаӡара рацәала асалам шәҟәқәа (урҭ рахьынтә 40-нызқь инареиҳаны еиқәханы иҟоуп)[226].

Ихьшәоу ашықәсқәа раан Ацқьа Елена лыдгьылбжьахаҿы дахганы данҟаз, игәҭакқәеи урҭ рынагӡареи ирызку алегенда бзиа аԥҵаразы, Наполеон Тулон амацәаз аҭакра, Вандемьертә қәгылара, Италиатәи акампаниа, Мсыртәи аныҟәара, Маренго ицоз аибашьра, Ельба адгьылбжьахахь ахгара, Шәымш рпериод, иара убас Цезари, Тиуренни, Фридрихи ркампаниақәа рыхцәажәара ирызку агәалашәарақәа имаӡаныҟәгаҩцәа дырзаԥхьеит[227].

1858 — 1869 ашықәсқәа рзы Наполеон III идҵала Наполеон исалам шәҟәқәеи ихьшәаны ииҩыз иҩымҭақәеи 32 том рыла иҭыжьын. Асалам шәҟәқәа рыхәҭак усҟан иҭыжьымызт, иҟоуп еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны аредакциа зызуз. 2004—2018 ашықәсқәа рзы «Наполеон ифонд» Наполеон исалам шәҟәқәа 15 том рыла иҭнажьит[226]. Наполеон исалам шәҟәқәа инагӡоу акритикатә ҭыжьра аҭоурыхҭҵааҩцәа иаамҭеи иареи ҿыцла ирыхәаԥшыртә еиԥш алшара рнаҭеит[228].

Урыс бызшәала иҭыжьуп ароманқәа «Клиссони Евгениеи»[229], «Уаххьа Бокер аҿы»[230], ихьшәаны ииҩыз аҩымҭақәа рахьынтә хәҭак[231], иара убас асалам шәҟәқәак[232].

Тиуильри ҩ-хыргьагьак рыбжьара. 1860 шықәса инарзынаԥшуа
Наполеони Питти адунеи ршоит. Асахьаҭ. Джеимс Гилреи (1805)

Наполеон илегенда Ацқьа Елена лыдгьылбжьахаҿы акәӡам иахьаԥҵахаз. Бонапарт уи шьаҿа-шьаҿала иаԥиҵон агазеҭқәа (раԥхьа Италиатәи ар реибашьратә бӷьыц, анаҩс иофициалтәу Парижтәи аҭыжьырҭақәа), агәаларшәагатә медалқәа, Ар Ду абиуллетеньқәа, Давиди Грои рсахьақәа, Атриумфалтә хыргьагьа, Аиааирақәа рколоннеи рыла[233][12]. Наполеон икариера иалагӡаны иааџьоушьаратәы ибзианы илшеит ажәабжь бааԥсқәа ибзиоушәа, насгьы ибзиоу ажәабжьқәа итриумфушәа раарԥшра[234]. «Наполеон иҟазара ажәак ала ааурԥшырц уҭахызар, уи ажәа  — «апропоганда» ауп. Уи аганахьала Наполеон XX ашәышықәсақәа ирыҵанакуаз уаҩын. Иара ихала ихаҿсахьа аԥиҵеит — «ҩ-тәыҩак» змоу ахылԥа, асиуртук цәыш, инапы ҩ-ҳәынҵәрак ирыбжьакын»[25]. Аха Наполеон изку «ахьтәы легенда» аԥҵараҿы ихадароу ароль назыгӡаз Наполеон иеибашьрақәа анынҵәа усда иаанхаз, Актәи аимпериеи «ркапрал хәыҷи» игәхьаазгоз Наполеон исолдаҭцәа ракәын[12].

Ж. Тиулар ишааирԥшыз ала, Наполеон ида алегенда аԥҵара аус адырулон иара иаӷацәагьы. Ахьтәы легенда иаҿагылан алегенда еиқәаҵәа. Англыз карикатураҭыхыҩцәа (Крукшанк, Гилреи, Вудворд, Роулендсон) уамашәажәа бзиа ирбон Наполеон ихаҿсахьа аарԥшра — заатәи ашәышықәсақәа раан ицәеи ижьи еикәыршаны (англ. Boney), ихьшәоу ашықәсқәа раан икьаҿу, ишәпоу хӡыргаҩны (англ. Fleshy)[235]. 1813 шықәсазы афранцызцәа 16 шықәса зхыҵуа рԥацәа арра ирыԥхьо ианалага, Наполеон ауаҩжьыфаҩ ҳәа изырҳәо иалагеит[12]. Урыстәылеи Испаниеи рдинмаҵзуҩцәа Наполеон Антихрист иеиԥш дырбон[148][236].

Наполеон ихаҿсахьа акультура, аҭҵаарадырра, атехника, аҟазара рҿы

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Наполеон ихаҿсахьа акультураҿы

Наполеон Бонапарт изку аҭоурыхтә ҭҵаарақәа рхыԥхьаӡара шә-нызқь иреиҳауп[К 17]. Питер Геил ишазгәеиҭаз ала, абиԥарақәа зегьы рхатәы Наполеон изкны ирыҩуеит. Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ҟалаанӡа Наполеон иҭоурыхҭҵаара иазҷыдаран зҽызыԥсахуаз х-гәаанагарак. Еиҳа изаатәиу авторцәа Бонапарт ианихцәажәоз иара илаз зеиԥшыҟамыз илшарақәеи имчхареи, аҭоурых азы иуникалреи инаҵшьны иазгәарҭарц иашьҭан, лассы-лассы даара апологетикатә ма акритикатә позициа ааныркылон (Лас Каз, Биньон, де Сталь, Арндт, Генц, Хезлитт, Скотт уб. иҵ.). Аҩбатәи агәаанагара ахаҭарнакцәа Наполеон изку алкаақәа усҟантәи аҭагылазаашьа иақәдыршәарц, иара иусура «аҭоурыхтә урокқәа» рылырхырц, Бонапарт ихаҿсахьа аполитикатә қәԥара иамыруганы иҟарҵарц рҽазыршәон (д' Оссонвиль, Минье, Мишле, Тьер, Кине, Ланфре, Тен, Уссе, Вандаль уб. иҵ.). «Ахԥатәи ацәқәырԥа» аҭҵааҩцәа Наполеон ихықәкқәеи иеихьӡарақәеи рҿы «аидеиа ду» иашьҭан, уи шьаҭас иҟаҵаны иара иахаҭеи иепохеи еилукааратәы иҟаларц азы (Сорель, Массон, Буржуа, Дрио, Диунан уҳәа егь.)[К 18][240][201].

Аибашьра ашьҭахьтәи аҭҵааҩцәа Наполеон ихаҭареи ирҿиарақәеи ракәӡам еиҳа ахшыҩзышьҭра ззырҭо, дара хықәкыс ирымоу иара иаамҭа иаҵанакуа атемақәа, имчра арежим аҷыдарақәагьы налаҵаны, еиҳа инарҭбааны рыҭҵаара ауп[241].

Егьырҭ аҭҵаарадыррақәа рҿы

[аредакциазура | акод аредакциазура]

1804 шықәсазы Наполеон ихьӡ рыхҵан Лецитис аҭаацәара иаҵанакуа аҵлақәа рыжәла Napoleonaea P.Beauv. Арҭ Африкатәи аҵлақәа ирызҷыдароуп рышәҭқәа ашәҭыцқәа амамзара, аха агәыргьын еиԥшу аструктура шьақәзыргыло истерилтәу х-ҳәрацк гьежь амазара[242].

Наполеон аимператор итәарҭаҿы. Енгр (1806)
Аиааирақәа рколонна

Наполеон ихаҿсахьа инарҭбааны иаарԥшуп еиуеиԥшым аҟазара хкқәа — аҿыханҵа, алитература, амузыка, акино, амонументалтә ҟазара рҿы. Амузыкаҿы иара изкын Бетховен (Наполеон императорс даныҟала ашьҭахь автор ирҿиамҭа «Ахԥатәи асимфониа» аҟынтәи Наполеон ихьӡ ықәигеит), Берлиоз, Шионберг, Шуман рырҿиамҭақәа. Еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы Наполеон ихаҭареи иусқәеи ирызкны ирыҩуан (Достоевски, Толстои, Харди, Конан Доиль, Киплинг, Емерсон уҳәа). Еиуеиԥшым аидеологиақәеи ахырхарҭақәеи ркинематографистцәа Наполеон изку атематика иазааҭгылеит: «Наполеон» (Франциа, 1927), «Лаҵарамзатәи адәы» (Италиа, 1935), «Кольберг» (Германиа, 1944), «Кутузов» (СССР, 1943), «Аццышә» (ПНР, 1968), «Ватерлоо» (Италиа — СССР, 1970)[12]; Кубрик ипроект «Наполеон» ус инагӡамкәа иаанхеит, аха иахьа уажәраанӡа аинтерес ду узцәырнагоит[243]. Абҵарамза, 2023 шықәсазы иҭыҵит арежиссиор Ридли Скотт ифильм «Наполеон».

Амассатә культураҿы

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Афаил:March of the Eagles.jpg
Наполеон исахьа зну ахәмарра «March of the Eagles» ахҟьа

Иҭеиҭыԥши ихымҩаԥгашьеи рҷыдарақәа ирыбзоураны Наполеон иаразнак еилукаауа культуратә персонажуп. Амассатә культураҿы Наполеон иоура маҷуп ҳәа агәаанагара шьақәгылеит[244]. Аха еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа ишырҳәо ала иара иоура 167 см инаркны 169 см рҟынӡа инаӡон[25][245][192][246][247]. Усҟантәи Франциа азы ас еиԥш иҟоу аура абжьаратәи аасҭа еиҳан[248][249]. Даҽа гәаанагарак ала, 157 см акәын аура имаз[246][247][250][251]. Наполеон икәша-мыкәша иҟаз зегьы аплиумаж змаз ахылԥа дуқәа рхан, аха иара ихаз ахылԥа хәыҷы акәын[25]. «Наполеон ижәар» излаҳәо ала, иоура маҷын ҳәа агәаанагара ашьақәгылара убри иахҟьазар алшон. Ари агәаанагара шьаҭас иҟаҵаны анемец психолог Альфред Адлер ахархәара аиҭеит атермин «Наполеон икомплекс», уи иаанаго иҳаракым ауаа агрессиеи амчреи рыла рыбжамҽамра ахарҭәаара иашьҭоуп ҳәа ауп[252].

Наполеон итематика («анаполеоника») амаркаеизгаратә дунеи аҿы акыр ирылаҵәаны иҟоуп. Аизгаҩцәа аӡәырҩы «анаполеоника» иахырԥхьаӡалоит афранцызцәа римператор исахьа зну амаркақәеи абаҟақәеи рыдагьы, аԥошьҭатә шәатәы адыргақәагьы, иара убас Наполеон иеибашьратә биографиеи, иҳәынҭқарратә усуреи, ихатә ԥсҭазаареи, иҭаацәеи, бзиа иибоз аҳәсеи, ицнагаҩцәеи, иҿагылаҩцәеи, ихьӡ иадҳәалоу амемориалтә ҭыԥқәаеи, Ацқьа Елена лыдгьылбжьахахь иахгареи ирызку егьырҭ амаркаеизгаратә материалқәагьы[253].

Аӷбақәа рыхьӡқәа (акаронимика) рҿы

[аредакциазура | акод аредакциазура]

1796 шықәса инаркны 2020 шықәсанӡа афранцызцәа римператор ихьӡ иадҳәалоу 95-ӷба иреиҵамкәа иазгәаҭан[254].

Ахҳәәақәа

  1. Уи ашықәс азы Парижтәи арратә школ аҭалара иашьҭан 202-ҩык акадеттә школқәа роушьҭымҭацәа, урҭ рахьынтә 136-ҩык роуп анҵәамҭатә ԥышәара иахысыз, 14-ҩык роуп артиллериа акласс ала иҭалаз [17].
  2. Ари аамҭа иаҵанакуеит Наполеон акаҳԥи иареи апарк аҿы реиԥылара аазырԥшуа ианҵамҭа, Пале-Роиаль иҟалап, усҟан ауп дара раԥхьаӡа акәны цәала-жьыла ианеизааигәаха [24][25].
  3. Наполеон иалхра ахәдықәҵаразы аоппонентцәа дрықәымчуан, иара убас алхрақәа рымш аҽны хҩык анаԥшцәа рҟынтәи руаӡәк иӷьычра еиҿикааит. Корсика аполитикатә қәԥара уаанӡагьы аџьбарара аныԥшуан, аха Наполеон иҟаиҵаз Паоли агәынамӡара изцәырнагеит. Аха Саличетти Наполеон дидгылеит, убри аҟынтә алхрақәа рылҵшәақәа шьақәырӷәӷәан [35].
  4. Аԥхҭра аекземахь ииасит. Сааҭрацәала ӡыршыла иҽаникәабоз деиӷьхон. 1802 шықәсазы ауп Корвизар Наполеон даныбзиаха [43][44].
  5. Тиулари, Ленци, Робертси изларҳәо ала — нанҳәамза 9[3][41][46], Тарле излаиҳәо ала — нанҳәамза 10[47], Чандлер игәаанагарала — нанҳәамза 6. Аха ииашаҵәҟьаны нанҳәамза 6 рзы адҵа рнапы аҵарҩит, знапы аҵазҩыз дыруаӡәкын Саличетти. Аҭакра формалтә ҽыҵгас иаиуит Наполеон имаӡоу амиссиа аҳасабала Генуиаҟа ицара аҭагылазаашьақәа ргәаҭара, иара адҵа анирҭа ауп уахь данца. Рикора[2][48].
  6. Наполеон Лапласа, Бертолле, Монжа рыцхыраарала атәыла нзыжьыз Карно иҭыԥ ахь далхын. Иара 312 бжьы рҟынтәи 305 иоуит, егьырҭ ашьҭазааҩцәа 166-и 123-и бжьы роуит[69]. Наполеон иматематикатә лшамҭақәа иреиуоуп: ҩ-цәаҳәак змоу ҵәаӷәагак ала аԥшьганеиҟараша аҭыхразы имариоу азнеишьа (ари аӡбамҭа аԥыргал мацарала, мамзаргьы ҩ-цәаҳәак змоу аҵәаӷәага мацарала иарбанзаалак аԥыргали ацәаҳәа змам аҵәаӷәагеи рыла аҭыхра шалшо ашьақәырӷәӷәаразы акрызҵазкуа шьаҿаны иҟалеит), иара убас зганқәа еиҟароу ахкәакь иазку атеорема, ихьӡ зху
  7. Иара абри амзазы Наполеон Жозеф иҟынтәи иаҳаит Жозефина Италиатәи акампаниа аахыс Ар рзы афатәи амаҭәақәеи аазгоз русқәа дышрылахәыз атәы. Лара лыдагьы арҭ аусқәа дрылахәын Ипполит Шарль, лареи иареи усҟангьы маӡала еиқәшәон. Наполеони Жозефи Жозефина лҿахәы лҿырхит, аха лара зегьы мап рцәылкуан[71].
  8. Наполеон Иаффа даныҟаз агубернатор идигалеит ақалақь ииҭарц, аха агубернатор мап икит, афранцыз цҳаражәҳәаҩ дыршьит. Ажәылара ашьҭахь ақалақь аанкылан, Наполеон ар азин риҭеит ақалақь еимырҵәарц, ақалақь уааԥсыра рацәаҩны иҭахеит. Анаҩстәи амшқәа рзы зықьҩыла итҟәаны ирымаз аҭырқә солдаҭцәа амшын аԥшаҳәаҿы иршьит[80]. Афранцызцәа иршьуаз ауааԥсыра абубонтә мырза рыларҵеит. Уи Е. Робертс игәаанагарала, иақәнагаҵәҟьаз ашьоуразы ҭоурыхтә ҿырԥшны иҟалеит. Амырза зыхьыз ауаа рҟынтәи 92% рыԥсҭазаара иалҵуан. Ус анакәха, амырза зыхьыз афранцызцәа рус ӡбан. Наполеон ачымазцәа рбара ҳәа аррахәышәтәырҭахь днеит, ари ахҭыс Гро исахьаҿы аарԥшуп[81].
  9. Хыҵхырҭақәак изларҳәо ала, Баррас иҭыԥ аанижьыртә еиԥш иҟазҵаз Талеиран иоуп, избанзар иара аинрал Морои гәыԥҩык аруааи ицны Баррас диқәмақаруан[85]. Егьырҭ ахыҵхырҭақәа изларҳәо ала — уи аџьыбаҭшьы иалҵшәахеит[86]. Даҽа хыҵхырҭақәак рыла — иара Бонапарт диԥырхагахар иҭахымызт, избанзар анкьа Баррас Наполеон изы «Пигмалионс» дыҟан[87]. Ари зыхҟьазаалакгьы Баррас иҭыԥ ааныжьра ауп ачарҳәаҩцәа рыпланқәа рынагӡара алзыршаз.
  10. Ч. Исдеил лаҵарамза 18 рзы Франциа Британиа Ду аибашьра рыланаҳәеит ҳәа аирбоит[111].
  11. Афбатәи ачинуаҩ ду, аҳәынҭқарра архиканцлер, жәабранмза 1, 1805 шықәсазы амаҵура дарҭеит[116].
  12. Давид Наполеон идҵала афактқәа иԥсахит исахьаҿы. Наполеон ихы агәыргьын анахеиҵаз амомент акәӡам иааирԥшыз, Жозефина агәыргьын лхаҵара иааирԥшит. Наполеон иаҳәшьцәа Жозефина лкалҭ инацәыхараны игылоуп. Ан асахьа акомпозициа агәҭаныҵәҟьа даарԥшуп[120].
  13. Е. Робертс ишиҳәо ала, ҩажәа шықәса рыҩныҵҟала Наполеон иман 21 ма 22 цәыбза. Ԥхынҷкәынмза, 1804 шықәса инаркны нанҳәамза, 1813 шықәсанӡа иара урҭ ҳамҭас ириҭеит — 480 нызықь франк инареиҳаны[135], урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Мариа Валевскаиагьы — 50 нызықь франк, лара аԥара лоуан жьҭаарамза, 1809 шықәсанӡа. Лаҵарамза 4, 1810 шықәсазы лара аԥа длоуит Александр Валевски[136][137].
  14. Аконтиненталтә Европа Британиатәи адгьылбжьахақәа рҟынтәи аҳәаа иахыргоз атауарқәа ахԥатәи рыхәҭа рзы, иара убас Британиа ареекспорт азыруаз атауарқәа ахԥатәи аԥшьбарак рзы аҭирҭатә џьармыкьаны иҟан[139].
  15. Афранки афунт стерлинги рыбжьара 1 фунтк азы аиҭныԥсахларатә курс 20 франк инаркны 25 франк рҟынӡа иҟан[149].
  16. Усҟантәи аамҭазы иаԥын еицырдыруа ауаа рыԥсҭазаара ианалҵ ашьҭахь рсабрадақәа рыҟаҵара. Наполеон итәыҵәҟьоу аԥсрашьҭахьтәи сабрадақәа ԥшьба иреиҵамкәа иҟоуп: Кабильдо, Орлеан ҿыц, Ливерпуль амузеи аҿы, Гавана, иара убас Аҩадатәи Каролина ауниверситет.
  17. «Наполеон ижәар» излаҳәо ала, хҩык авторцәа заҵәык ракәын Наполеон ибиблиографиа нагӡаны аиқәыршәара зҽазызшәоз: Ломброзо (1896), Кирхаизен (1902, 1912), Давуа (1910). Кирхаизен иҩхьан ибиблиографиаҿы Наполеон изку 70 нызқь шәҟәи статиеи шеиқәыԥхьаӡоу[237].
  18. Ҳаамҭазтәи атерминқәа рыла иуҳәозар, «ахԥатәи ацәқәырԥа» аҭҵааҩцәа Наполеон ихымҩаԥгашьа анаҩс игылаз ихадоу «агеополитикатә идеиа» аԥшаара иаҿын. Сорель ус еиԥш иҟоу идеианы иԥхьаӡон Франциа «иԥсабаратәу аҳәаақәа» рышьақәырӷәӷәара аҽазышәара. Буржуа излеиҳәо ала, Наполеон Мрагылара ампыҵахалара ауп хықәкыс имаз. Наполеон изы Римтәи аимпериа шҿырԥшыгаз шьақәирӷәӷәон Дрио[238][239].

Ахыҵхырҭақәа

  1. "Napoleon I" (англыз бызшәала). Britannica. Иархивтәоу аоригиналзы 2018-01-12 ахь. Ириашоу 2017-05-29 шықәсазы.
  2. 2,00 2,01 2,02 2,03 2,04 2,05 2,06 2,07 2,08 2,09 2,10 2,11 2,12 2,13 2,14 2,15 2,16 2,17 2,18 2,19 2,20 2,21 2,22 2,23 2,24 2,25 2,26 2,27 2,28 2,29 2,30 2,31 2,32 2,33 2,34 2,35 2,36 2,37 2,38 2,39 2,40 2,41 2,42 Чандлер 2011.
  3. 3,0 3,1 Тиулар.
  4. Roberts 2014, p. 4.
  5. 5,0 5,1 5,2 Roberts 2014, p. 18.
  6. Broers 2014, p. 37.
  7. Roberts 2014, p. 6.
  8. Roberts 2014, p. 7.
  9. Roberts 2014, p. 3.
  10. 10,0 10,1 Roberts 2014, p. 8.
  11. Roberts 2014, p. 5.
  12. 12,00 12,01 12,02 12,03 12,04 12,05 12,06 12,07 12,08 12,09 12,10 12,11 12,12 12,13 12,14 12,15 12,16 12,17 12,18 12,19 12,20 12,21 12,22 12,23 12,24 12,25 12,26 12,27 12,28 12,29 12,30 12,31 12,32 12,33 12,34 12,35 12,36 12,37 12,38 12,39 12,40 12,41 12,42 12,43 12,44 12,45 12,46 12,47 12,48 12,49 12,50 12,51 12,52 12,53 12,54 12,55 12,56 12,57 12,58 12,59 12,60 12,61 12,62 12,63 12,64 12,65 12,66 12,67 12,68 12,69 12,70 12,71 12,72 12,73 12,74 12,75 12,76 12,77 12,78 12,79 12,80 Тюлар.
  13. André Castelot. = I. Bonaparte & II. Napoléon (фр.). — Librairie Académique Perrin, 1967 & 1968. — Vol. 1,2. — P. 10.
  14. Roberts 2014, p. 13.
  15. Roberts 2014, p. 11.
  16. 16,00 16,01 16,02 16,03 16,04 16,05 16,06 16,07 16,08 16,09 16,10 Манфред 1987.
  17. Roberts 2014, p. 16.
  18. Roberts 2014, p. 15—16.
  19. Roberts 2014, p. 10.
  20. Gueniffey 2015, p. 72.
  21. Dictionnaire 1999, p. 273, t. 1.
  22. Itinéraire 2002, p. 24—28.
  23. 23,0 23,1 23,2 Dictionnaire 1999, p. 378, t. 2.
  24. Roberts 2014, p. 22.
  25. 25,0 25,1 25,2 25,3 25,4 Dictionnaire 1999, p. 380, t. 2.
  26. "Как Наполеон чуть не стал русским офицером". Сайт «История России». 2017-08-28. Иархивтәоу аоригиналзы 2017-08-28 ахь. Ириашоу 2017-08-28 шықәсазы.
  27. П. Шереметев. Бонапарт и русские в 1789 году и о Заборовском // Летопись Историко-родословного общества в Москве. — 1910. — Вып. 4. — С. 3, 4, 19. Архивировано 25 хәажәкырамза 2023 года.
  28. Roberts 2014, p. 26.
  29. Roberts 2014, p. 27.
  30. Roberts 2014, p. 29—30.
  31. Roberts 2014, p. 32—33.
  32. Itinéraire 2002, p. 42.
  33. Roberts 2014, p. 34—35.
  34. Roberts 2014, p. 36.
  35. Roberts 2014, p. 37.
  36. Roberts 2014, p. 37ff.
  37. Roberts 2014, p. 40.
  38. Itinéraire 2002, p. 54—55.
  39. Roberts 2014, p. 44.
  40. Roberts 2014, p. 45—46.
  41. 41,0 41,1 41,2 41,3 41,4 41,5 Ленц 2003.
  42. Gueniffey 2015, p. 190.
  43. Gueniffey 2015, p. 691.
  44. Roberts 2014, p. 49.
  45. Roberts 2014, p. 53.
  46. Roberts 2014, p. 55.
  47. 47,0 47,1 47,2 47,3 47,4 Тарле 1959.
  48. Gueniffey 2015, p. 160—161.
  49. Itinéraire 2002, p. 74.
  50. Itinéraire 2002, p. 77—78.
  51. 51,0 51,1 Roberts 2014, p. 57.
  52. Roberts 2014, p. 59.
  53. Гижицкий, Ежи. С шахматами через века. — Варшава: Sport i Turystyka, 1970. — С. 197—198. — 360 с.
  54. Itinéraire 2002, p. 82.
  55. Roberts 2014, p. 61.
  56. Roberts 2014, p. 71.
  57. Roberts 2014, p. 72.
  58. Broers 2014, p. 118—119.
  59. Roberts 2014, p. 132.
  60. Roberts 2014, p. 82.
  61. 61,0 61,1 61,2 61,3 61,4 61,5 Левицкий 1938.
  62. Broers 2014, p. 119.
  63. Broers 2014, p. 121—122.
  64. Roberts 2014, p. 107.
  65. Roberts 2014, p. 103.
  66. 66,0 66,1 Fremont-Barnes 2010, p. 11.
  67. Dictionnaire 1999, p. 175, t. 2.
  68. Roberts 2014, p. 155.
  69. Roberts 2014, p. 156.
  70. Roberts 2014, p. 158.
  71. Roberts 2014, p. 159.
  72. Roberts 2014, p. 164.
  73. Dictionnaire 1999, p. 468, t. 1.
  74. Roberts 2014, p. 177.
  75. Dictionnaire 1999, p. 36, t. 2.
  76. Dictionnaire 1999, p. 642, t. 1.
  77. Dictionnaire 1999, p. 705, t. 1.
  78. Roberts 2014, p. 181.
  79. Roberts 2014, p. 182.
  80. Roberts 2014, p. 189.
  81. Roberts 2014, p. 190.
  82. Roberts 2014, p. 207.
  83. Roberts 2014, p. 206ff.
  84. Roberts 2014, p. 218.
  85. Roberts 2014, p. 219.
  86. 86,0 86,1 Englund 2010, p. 151—166.
  87. Gueniffey 2015, p. 558.
  88. Roberts 2014, p. 219—224.
  89. Roberts 2014, p. 231—234.
  90. Englund 2010, p. 166—168.
  91. Lentz 2014, p. 152—153.
  92. Itinéraire 2002, p. 174—175.
  93. Dictionnaire 1999, p. 514, t. 2.
  94. Dictionnaire 1999, p. 519, t. 1.
  95. 95,0 95,1 Roberts 2014, p. 246.
  96. Dictionnaire 1999, p. 459, t. 1.
  97. 97,0 97,1 97,2 97,3 Исдейл 1997.
  98. Dictionnaire 1999, p. 163, t. 1.
  99. Roberts 2014, p. 242.
  100. Dictionnaire 1999, p. 316, t. 2.
  101. Dictionnaire 1999, p. 732, t. 2.
  102. Roberts 2014, p. 288—289.
  103. Dictionnaire 1999, p. 524, t. 1.
  104. Englund 2010, p. 187.
  105. Dictionnaire 1999, p. 827, t. 1.
  106. Lentz 2014, p. 646—647.
  107. Lentz 2014, p. 305.
  108. Dictionnaire 1999, p. 800, t. 1.
  109. Lefebvre 2011, p. 148—149.
  110. Roberts 2014, p. 322—323.
  111. Исдеил 1997.
  112. Lentz 2014, p. 694.
  113. Lefebvre 2011, p. 160—162.
  114. 114,0 114,1 Lentz 2002, p. 122.
  115. Dictionnaire 1999, p. 527, t. 1.
  116. 116,0 116,1 Lentz 2002, p. 119.
  117. Lentz 2002, p. 37—38.
  118. 118,0 118,1 Roberts 2014, p. 352.
  119. Стендаль. Дневники // Собрание сочинений в пятнадцати томах. — М.: Правда, 1959. — Т. 14. — С. 78.
  120. Roberts 2014, p. 355.
  121. Lentz 2002, p. 121.
  122. 122,0 122,1 Tulard J. Der "Domaine extraordinaire" als Finanzierungsinstrument napoleonischer Expansion. — Geschichte und Gesellschaft, 1980. — Bd. 4. — JSTOR i40005617. Архивировано 20 ажьырныҳәамза 2021 года.
  123. 123,0 123,1 Roberts 2014, p. 374.
  124. Roberts 2014, p. 376.
  125. Roberts 2014, p. 394.
  126. Lentz 2002, p. 218.
  127. Dictionnaire 1999, p. 714, t. 1.
  128. Dictionnaire 1999, p. 220, t. 2.
  129. Lentz 2002, p. 221—223.
  130. Lentz 2002, p. 266.
  131. Roberts 2014, p. 425.
  132. Roberts 2014, p. 432.
  133. Itinéraire 2002, p. 324—325.
  134. Roberts 2014, p. 435.
  135. Roberts 2014, p. iv.
  136. Itinéraire 2002, p. 416.
  137. Roberts 2014, p. 436.
  138. Lentz 2002, p. 256.
  139. Roberts 2014, p. 427.
  140. Revisiting Napoleon’s Continental System: Local, Regional and European Experiences / K. B. Aaslestad, J. Joor. — UK: Palgrave Macmillan, 2015. — P. 11. — 290 p. — ISBN 978-1-137-34556-1.
  141. Dictionnaire 1999, p. 808, t. 2.
  142. Roberts 2014, p. 476.
  143. Lentz 2002, p. 396—397.
  144. Lentz 2002, p. 401—402.
  145. Соколов О. В. Битва двух империй. 1805—1812. — М.СПб.: Астрель, Астрель-СПб, 2012. — С. 255—267. — 730 с. — ISBN 978-5-271-42347-5.
  146. Itinéraire 2002, p. 372—373.
  147. Fremont-Barnes G. The Napoleonic Wars: The Peninsular War 1807—1814. — Osprey Publishing Limited, 2002. — P. 39—40. — 95 p. — ISBN 978-1-84176-370-5.
  148. 148,0 148,1 148,2 148,3 148,4 148,5 Ливен 2012.
  149. {{{Астатиа ахьӡ}}}, ISBN 978-5-91103-252-4.
  150. Roberts 2014, p. 499—501.
  151. Lentz 2002, p. 442.
  152. Lentz 2004, p. 75—76.
  153. Lentz 2004, p. 11—12.
  154. Dictionnaire 1999, p. 503, t. 2.
  155. Roberts 2014, p. 547—549.
  156. Lentz 2004, p. 201.
  157. Dictionnaire 1999, p. 371, t. 1.
  158. Roberts 2014, p. 588.
  159. Roberts 2014, p. 590.
  160. Dictionnaire 1999, p. 284—285, t. 1.
  161. Dictionnaire 1999, p. 372—373, t. 1.
  162. Roberts 2014, p. 617.
  163. Roberts 2014, p. 621—622.
  164. Roberts 2014, p. 629.
  165. Dictionnaire 1999, p. 373, t. 1.
  166. Dictionnaire 1999, p. 486, t. 1.
  167. Fankhauser A. Mediation // Historisches Lexikon der Schweiz. — Bern: HLS, 2009. Архивировано 24 хәажәкырамза 2017 года.
  168. Roberts 2014, p. 714.
  169. Dwyer 2013, p. 489—490.
  170. Roberts 2014, p. 729.
  171. Lentz 2004, p. 582—589.
  172. Lentz 2010, p. 132—135.
  173. Itinéraire 2002, p. 567—569.
  174. Lentz 2010, p. 345.
  175. Lentz 2010, p. 352.
  176. Lentz 2010, p. 357.
  177. Dictionnaire 1999, p. 34, t. 1.
  178. Ellis 2014, p. 232.
  179. Roberts 2014, p. 779.
  180. Dictionnaire 1999, p. 705, t. 2.
  181. Roberts 2014, p. 782.
  182. Roberts 2014, p. 785—792.
  183. Roberts 2014, p. 791—795.
  184. Wilson 1975, p. 293–295.
  185. https://web.archive.org/web/20210116034152/https://www.nytimes.com/1992/07/12/books/exhuming-a-dirty-joke.html
  186. Roberts 2014, p. 795—801.
  187. Itinéraire 2002, p. 640.
  188. Hindmarsh 2007, p. 84—85.
  189. Hindmarsh 2007, p. 70—77.
  190. Roberts 2014, p. 796.
  191. "Причина смерти Наполеона установлена окончательно". www.membrana.ru. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2017-12-12 ахь. Ириашоу 2017-12-12 шықәсазы.
  192. 192,0 192,1 Alessandro Lugli, Inti Zlobec, Gad Singer, Andrea Kopp Lugli, Luigi M. Terracciano. Napoleon Bonaparte's gastric cancer: a clinicopathologic approach to staging, pathogenesis, and etiology (англ.) // Nature Clinical Practice Gastroenterology & Hepatology. — 2007/01. — Vol. 4. — P. 52–57. — ISSN 1759-5053. — doi:10.1038/ncpgasthep0684. Архивировано 29 цәыббрамза 2019 года.
  193. Roberts 2014, p. 801.
  194. Itinéraire 2002, p. 645.
  195. Dictionnaire 1999, p. 639, t. 2.
  196. "Малиновый кварцито-песчаник. Музей геологии докембрия". Иархивтәоу аоригиналзы 2021-01-27 ахь. Ириашоу 2021-01-20 шықәсазы.
  197. Дом инвалидов в Париже // Военная энциклопедия : [в 18 т.] / под ред. В. Ф. Новицкого … [и др.]. — СПб. ; [М.] : Тип. т-ва И. Д. Сытина, 1911—1915.
  198. Dictionnaire 1999, p. 43, t. 2.
  199. Ellis 2014, p. 233.
  200. Wars 2006, p. 163.
  201. 201,0 201,1 Roberts 2014, Introduction.
  202. Ellis 2014, p. 234.
  203. Bluche F. Le bonapartisme: aux origines de la droite autoritaire (1800—1850). — Paris: Nouvelles Editions Latines, 1980. — P. 12. — 366 p.
  204. Englund 2010, p. 248.
  205. Englund 2010, p. 434.
  206. Ellis 2014, p. 218.
  207. Englund 2010, p. 458—459.
  208. Woolf S. Napoleon's Integration of Europe. — Routledge, 2002. — P. 20. — 319 p.
  209. Europe 2006, p. 957—958.
  210. Europe 2006, p. 1193.
  211. Wars 2006, p. 28.
  212. Wars 2006, p. 374—375.
  213. Dictionnaire 1999, p. 826, t. 2.
  214. Соколов О. В. Армия Наполеона. — СПб.: Империя, 1999. — С. 129. — 592 с. — ISBN 5-93914-001-7.
  215. Wars 2006, p. 269.
  216. Wars 2006, p. 329ff.
  217. Wars 2006, p. 600—601.
  218. Wars 2006, p. 375.
  219. 219,0 219,1 Dictionnaire 1999, p. 804, t. 2.
  220. Wars 2006, p. xvii—xviii.
  221. Roberts 2014, p. 537.
  222. Sabitzer W. "Der „Napoléonide"" (PDF) (агерман бызшәала). Öffentliche Sicherheit. Das Magazin des Innenministeriums (Österreich). Иархивтәоу (PDF) аоригиналзы 2015-09-23 ахь. Ириашоу 2017-03-24 шықәсазы.
  223. "La Famille Colonna Walewski (branche française)" (афранцыз бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2017-05-07 ахь. Ириашоу 2017-03-24 шықәсазы.
  224. Roberts 2014, p. 34.
  225. Roberts 2014, p. 35.
  226. 226,0 226,1 Édition de la correspondance.
  227. Correspondance de Napoléon Ier: publiée par ordre de l'empereur Napoléon III. — 32 t. — Paris: Imprimerie Impériale, 1858—1869., t. XXIX—XXXII
  228. Broers 2014, p. 23.
  229. "По-русски выходит роман Наполеона" (аурыс бызшәала). os.colta.ru. Иархивтәоу аоригиналзы 2017-10-07 ахь. Ириашоу 2017-03-24 шықәсазы.
  230. Бонапарт Н. Ужин в Бокере. — Французский ежегодник. 1986. — М.: Наука, 1988. — [Архивировано 21 рашәарамза 2008 года.]
  231. Бонапарт Н. О военном искусстве. Избранные произведения.. — Эксмо, 2003. — 800 с. — (Антология мысли). — ISBN 5-699-03899-X.
  232. Бонапарт Н. Письма к Жозефине. — М.: Захаров, 2011. — 304 с. — ISBN 978-5-8159-1068-3.
  233. Wars 2006, p. 26.
  234. Roberts 2014, p. 92.
  235. Tulard J. L'Anti-Napoléon. La Légende noire de l'Empereur. — René Julliard, 1965. — P. 38. — 260 p.
  236. Dwyer 2013, p. 441.
  237. Dictionnaire 1999, p. 222, t. 1.
  238. Ellis 2014, p. 224ff.
  239. Dictionnaire 1999, p. 956, t. 1.
  240. Ellis 2014, p. 189.
  241. Ellis 2014, p. 190.
  242. Quattrocchi U. CRC World Dictionary of Plant Names: Common Names, Scientific Names, Eponyms, Synonyms, and Etymology. — CRC Press, 1999. — P. 1766. — 2270 p. — ISBN 978-0-8493-2677-6.
  243. Stanley Kubrick's Napoleon. The Greatest Movie Never Made / Castle A.. — Taschen, 2011. — 1112 p. — ISBN 978-3836523356. — [Архивировано 11 мшаԥымза 2017 года.]
  244. Нахимова Е. А. Прецедентные имена в массовой коммуникации. — Екатеринбург, 2007. — 207 с. — [Архивировано 21 хәажәкырамза 2017 года.]
  245. Hindmarsh 2007, p. 79.
  246. 246,0 246,1 Мухлаева И. "Наполеон. Несколько сакраментальных вопросов". Наука и жизнь. Иархивтәоу аоригиналзы 2019-02-13 ахь. Ириашоу 2019-05-22 шықәсазы.
  247. 247,0 247,1 Alisha Cherian (2014-05-01). "Fact or Fallacy?" (PDF). nlb.gov.sg (англыз бызшәала). Иархивтәоу (PDF) аоригиналзы 2019-07-14 ахь. Ириашоу 2019-05-22 шықәсазы.
  248. Health and Welfare during Industrialization / R. H. Steckel, R. Floud. — Chicago: University of Chicago, 1997. — P. 175—177. — 466 p. — ISBN 0-226-77156-3. — [Архивировано 24 ажьырныҳәамза 2017 года.]
  249. Max Roser (2016). "Human Height" (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 2017-01-28 ахь. Ириашоу 2017-03-24 шықәсазы.
  250. The Cornhill Magazine / William Makepeace Thackeray. — Smith, Elder, 1899. — P. 472.
  251. Jiří Malý, Jindřich Matiegka, Hynek J Pele, Artur Brožek, Vladislav Růžička, Česká akademie věd a uměmení. Die gleichwertigkeit der europäischen rassen und die wege zu ihrer vervollkommnung / Karel Weigner. — Tschechische akademie der wissenschaften und künste, in generalkommission Verlag Orbis a.-g., 1935. — С. 98. — 163 с.
  252. Whitley B., Kite M. The Psychology of Prejudice and Discrimination. — Cengage Learning, 2009. — P. 529. — 720 p. — ISBN 9780495811282.
  253. "Филателистический каталог Наполеон Бонапарт и его эпоха". Иархивтәоу аоригиналзы 2015-01-12 ахь. Ириашоу 2015-01-12 шықәсазы.
  254. Рычков С. Ю. «Invincible Napoleon»: память об участнике Бородинского сражения императоре Наполеоне I в названиях кораблей. К 200-летию со дня смерти императора французов. Научный доклад. Архив ҟаҵан 2022-02-13 азы Wayback Machine аҟны. // Отечественная война 1812 года. Источники, памятники, проблемы. XXIV Международная научная конференция, Бородино, 7—9 сентября 2020 года.
Ихадароу астатиа: Наполеон ибиблиографиа
Урысшәала
Англыз бызшәала
Францыз бызшәала