Перейти к содержанию

Макачаа, Лариса Заабеҭ-иԥҳа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Макачаа-ԥҳа, Лариса Забеҭ-иԥҳа» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Лариса Заабеҭ-иԥҳа Макачаа
Лариса Заабетовна Макачава

Лариса Заабеҭ-иԥҳа Макачаа
Аира лаҵарамза 11950 ш.
Абӷархықә ақыҭа, Гәдоуҭа араион, Аԥснытәи Автономтә Советтә Социалисттә Республика
Аусура аԥсуа поет, апублицист

Лариса Заабеҭ-иԥҳа Макачаа (аур. Лариса Заабетовна Макачава; *лаҵарамза 11950 ш. Абӷархықә ақыҭа) — аԥсуа поет, апублицист. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2003). Дыҩуеит аԥсышәала.

1967 ш. далгеит Аацытәи (Гәдоуҭа араион) абжьаратәи ашкол. 1974 ш. лҵара хлыркәшеит Қарҭтәи атехнологиатә техникум аҟны, ааглыхра ласы аусхк аҟны анџьныр-технолог изанааҭ лоуит. Акыр шықәса нбанҟәшәаҩыс аус луан Аҟәатәи ааглыхра-полиграфиатә еидҵараҿы. 2002–2007 шш. раан Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аҟны аԥсуа редақциаҿы редакторс дыҟан.

Лажәеинраалақәа рнылон ажурнал «Алашара», аизга «Памятник нам сыновей не заменит… Стихи и песни». Сухум, 1994), «Аԥсуа поезиа антологиа. XX ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).

Иҭлыжьхьеит ажәеинраалақәа реизгақәа.

  • аԥсышәала: Ишәы ухала. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1996.
  • Раԥхьатәи аҵәҵәа. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәеи ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1999.
  • Сҵәуаӡом уаҳа. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2000.
  • Сара сӡиас. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2009.
  • Ԥшьышәи ҩеижәижәаба мши ҵхи. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) иазку астатиақәа реизга. Аҟәа, 2009).
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 945