Лиубченко, Лев Николаи-иԥа
| Лев Николаи-иԥа Лиубченко | |
|---|---|
| Лев Николаевич Любченко | |
|
Лев Николаи-иԥа Лиубченко | |
| Аира |
ԥхынгәымза 30, 1930 ш. Гәдоуҭа ақалақь, ССР Аԥсны |
| Аԥсра |
1995 Гәдоуҭа ақалақь |
| Аусура | аурыс поет |
| Атәылауаҩра |
Асовет Еидгыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра |
Лев Николаи-иԥа Лиубченко (аур. Лев Николаевич Любченко; ԥхынгәымза 30, 1930 ш., Аԥсны, Гәдоуҭа ақалақь – 1995, Гәдоуҭа ақалақь) – аурыс поет. Ассоциациа «Аԥсны аинтеллигенциа» иаԥнаҵаз апремиа «Аибашьра ашықәснҵа» ианашьоуп. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1997).
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Раԥхьатәи иажәеинраалақәа кьыԥхьын 1956 шықәсазы. 1960 ш. акәзар, иҭыҵит раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга «Люди и мир». Л.Лиубченко ипоезиа ауаатәыҩса реизыҟазаашьа хьанҭақәа аанарԥшуеит, ҳауаажәларра иацәтәыму аидеиеи апринципқәеи рҿагылара ахырхарҭахь ухьадырԥшуеит.
Аԥсны 1992 шықәса август азтәи атрагедиатә хҭысқәа апоет ирҿиараҿы зынӡа даҽа хырхарҭак аанахәартә иҟалеит. Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны уи ихазы еилырганы имаз иуаҩытәыҩсатә позициа ааникылеит, иҩымҭақәагьы еилыхха ирныԥшит. Арратә корреспондентс дыҟан, ашьҭахь Аԥсуа радио аредактор еиҳабыс аус иуан. Иажәеинраалақәа рыхәҭак аефир ала азыӡырҩцәа ираҳауан. Иажәеинраалақәа жәпакы ашәақәа рылхуп. Л.Лиубченко аԥсшәахь еиҭеигеит аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа маҷымкәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы С. Делба лҩымҭақәа.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Люди и море. Стихи. Сухуми, 1960.
- Дорога в хороший день. Стихи и поэмы. Сухуми, 1965.
- Абхазы, абхазы, вы правы… Гагра, 1993.
- Абхазы, абхазы вы правы… Сухум, 2007.