Перейти к содержанию

Линкольн, Авраам

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ари атермин «Линкольн» даҽа ҵакқәакгьы амоуп, Шәахә. иара убас: Линкольн (ажәла).
Авраам Линкольн
Abraham Lincoln
18-тәи ЕАА рпрезидент
Амаҵураҭыԥ ахь:
хәажәкырамза 41861 ш. – мшаԥымза 151865 ш.
Апрезидент ихаҭыԥуаҩ Ҳаннибал Ҳамлин (1861–1865)
Eндриу Џьонсон (1865)
Аԥхьа иҟаз Џьеимс Буканан
Аҭынха Eндриу Џьонсон

Аполитикатә партиа
Алахәылара Ареспубликатә партиа (1854 ш.–1865 ш.)
Партия вигов (1834 ш.–1854 ш.)
Национальный союз (1864 ш.–1865 ш.)

Аира жәабранмза 12, 1809 ш.
Sinking Spring Farm
Аԥсра мшаԥымза 15, 1865 ш.
Petersen House
Аԥсра зыхҟьаз выстрел в голову
Аԥсыжра аҭыԥ могила Линкольна
Атәылауаҩра Еиду Америкатәи Аштатқәа
Абызшәақәа англыз бызшәа,
американский вариант английского языка
Ахаҵа/Аԥҳәыс Мэри Тодд Линкольн (1842 ш.–1865 ш.)
Ани аби Нэнси Хэнкс Линкольн,
Томас Линкольн
Ахәыҷқәа Эдвард Бейкер Линкольн,
Тед Линкольн,
Роберт Тодд Линкольн,
Уильям Линкольн
Ауацәа Sarah Lincoln Grigsbyи Thomas Lincoln, Jr. (ашьцәеи аиаҳәшьцәеи)
Анхарҭа Спрингфилд, Вашингтон, Перри, Ходженвилли Lincoln's New Salem
Аусура аполитик,
почтмейстер,
адвокат,
аҳәынҭқарратә усзуҩы,
фермер,
афицар,
ашәҟәыҩҩы
Адин баптизм
Итсизм
Анаԥынҵамҭа

Авраам Линкольн (Абрахам Линкольн, англыз бызшәала Abraham Lincoln [ˈeɪbrəhæm ˈlɪŋkən], аурыс традициаҿы иара убас Линко́льн; Аиаша Еиб (Honest Abe) ҳәа хьыӡшьара змоу; жәабранмза 12, 1809 шықәса, Хоџьенвилл, Кентуккимшаԥымза 15, 1865 шықәса, Вашингтон) — Америкатәи аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩы, Еиду Америкатәи аштатқәа 16-тәи рыпрезидент (1861—1865) иара убас Ареспубликатә Партиа аҟынтәи актәи, америкатәи атәцәа рхы иақәиҭызтәыз, америкатәи ажәлар рмилаҭтә фырхаҵа.[1][2]

Уи изҳаит анхаҩы ӷар иҭаацәараҿы. Данхәыҷыз инаркны аџьабаа даҵагылан. Иҭаацәа рматериалтә ҭагылазаашьа ахьуадаҩыз иахҟьаны, ашколахь шықәсык акәын дахьныцәоз, аха аԥхьареи аҩреи рҵара илшеит, ашәҟәқәа бзиа ибеит. Ианизҳа, аӡәгьы дихьыԥшымкәа анхара далагеит, аҵара иҵеит, аԥышәарақәа ҭины адукаттә усуразы азин иоуит. Иллиноис аиндееццәа рыҵысра аан уи архәҭа далалеит, насгьы капитанс далхын, аха аибашьратә еидысларақәа дрылахәымызт. Иара убас Иллиноис Азакәанԥҵаратә Еизара далан, ЕАА аконгресс Ахаҭарнакцәа Рпалата далахәын, уаҟа Мексика-Америкатәи аибашьра даҿагылан. 1858 шықәсазы ЕААА Асенаторхарахь кандидатс дҟалеит, аха алхрақәа рҿы даҵахеит.

Атәра аҵакырадгьыл ҿыцқәа рахь аларҵәара аҿагылаҩ иаҳасабала, уи Ареспубликатә Партиа аԥҵара аԥшьгаҩцәа дыруаӡәкхеит, насгьы иара ахьӡала апрезидентрахь дықәыргылан, 1860 шықәсазы алхрақәа рҿы аиааирагьы игеит. Иара иалхра дыргак иаҩызахеит аладатәи аштатқәа раҟәыҭхареи Аконфедерациа ацәырҵреи рзы. Иинаугурациатә ажәахә аҿы уи атәыла аидкыларазы ааԥхьара ҟеиҵеит, аха аиҿагылара аграждантә еибашьрахь аиасра аԥхьырҟәҟәаара илымшеит.

Линкольн хаҭала напхгара азиуан 1861—1865 шықәсқәа рзы Аграждантә еибашьраан Аконфедерациа аиааира иацхрааз арратә усқәа. Иара иҳәынҭқарратә усура иабзоураны анагӡаратә мчра рӷәӷәахеит, насгьы ЕАА рҟны атәра мап ацәкхеит.[3] Линкольн иҿагылаҩцәа ԥыҭҩык аҳәынҭқарратә напхгара иалаирхәит, насгьы урҭ еицырзеиԥшу ахықәкы анагӡаразы аусура радыԥхьалара илшеит. Аҳәынҭқарра Ахада аибашьра цонаҵы Британиа Дуи егьырҭ Европатәи атәылақәеи рҽалагалара анкылара илшеит. Иара ипрезидентра аамҭазы, аконтинентқәа рыбжьаратәи аихамҩа дыргылеит, аграртә зҵаара зыӡбаз Гомстед-акт рыдыркылеит.[4] Линкольн иналукааша цәажәаҩын, иажәахәқәа аҩадауаа ргәы шьҭырхуан, иахьа уажәраанӡагьы иҷыдоу ҭынханы иҟоуп. 1864 шықәсазы аҩынтәраан далхын. 1865 шықәсазы Аграждантә еибашьра анынҵәа, иара амилаҭтә еиқәшаҳаҭреи ашьоура мап ацәкреи ирыдҳәалоу абжьаратәи Аиҭашьақәыргыларазы аплан ҟеиҵеит. 1865 шықәса мшаԥымза 14 рзы Линкольн атеатр аҿы ӷәӷәала дырхәит, адырҩаҽны иԥсҭазаара далҵит, ари ЕАА аҭоурых аҟны апрезидент ишьра иадҳәалаз раԥхьатәи хҭысхеит. Еицырзеиԥшу агәаанагареи ауаажәларратә ҭҵаарақәеи ишырҳәо ала, уи Америка иреиӷьу, насгьы зегь раасҭа бзиа ирбо апрезидентцәа дыруаӡәкуп уажәраанӡагьы, иара аҳәынҭқарра ахадас даныҟаз акритика ӷәӷәа шизыҟарҵозгьы.[5][6][7]

Зегьраасҭа еицырдыруа Америка апрезидентцәа дыруаӡәкуп. Уажәы Америкатәи хә-долларк абанкнотаҿы дануп.

Линкольн диит жәабранмза 12, 1809 шықәсазы Томас Линкольни Ненси Хенкси рҭаацәараҿы, урҭ нхон Гардин Каунти, Кентукки аштат аҟны.на ферме Синкинг-Спринг Иаб иганахьала иабду Авраам, ԥыҭрак ашьҭахь арԥыс зыхьӡала ахьӡ иҭаз, иҭаацәа Вирџьиниантәи Кентуккиҟа иааигеит, уаҟа 1786 шықәсазы аиндееццәа рқәылараан дыршьит.[8][9] Линкольн иан, Ненси, мраҭашәаратәи Вирџьиниа диит. Лара лан длыцны Кентуккиҟа нхара диасит, уа Кентукки аштат аҟны ҳаҭыр зқәыз, амал змаз Томас Линкольн диабадырит.[10] Авраам даниз аамҭазы, Томас 500 гектар рҟынӡа зҵазкуаз ҩ-фермак иман, ақалақь аҿы еиуеиԥшым ахыбрақәа, насгьы ирацәаны арахәи аҽқәеи иман. Уи араион аҿы зегь реиҳа амал змаз дреиуан.[11][12] Аха 1816 шықәсазы Томас идгьылқәа зегьы аусӡбарҭаҿы ицәыӡит, амазара азакәантә гха ахьамаз иахҟьаны.[13][14]

Аҭаацәара аҩадаҟа, Индианаҟа ииасуеит, иҭацәыз адгьыл ҿыцқәа напрылакразы.[15] Линкольн ԥыҭрак ашьҭахь иазгәеиҭеит, ари ашьаҿа еиҳарак изыхҟьаз адгьыл иадҳәалоу азакәантә проблемақәа шракәыз, аха хәҭак ала аҩада атәра иадҳәалоу аҭагылазаашьагьы анырра шыҟанаҵаз.[16] Авраам жә-шықәса анихыҵуаз иан дыԥсит, иаҳәшьа еиҳабы Сара иара иааӡаразы аҭакԥхықәра лхахьы илгеит, раб 1819 шықәсазы аԥҳәысеиба Сара Буш Џьонстон дааигаанӡа.[17]

Линкольн дахьиз акәымра

Раԥхьатәи лхаҵа иҟынтә хҩык ахәыҷқәа змаз анԥса иаарласны Линкольн қәыԥш дизааигәахеит, аҵыхәтәан иара “нана” ҳәагьы леиҳәо далагеит.[18] Авраам жәашықәса ихыҵаанӡа, аҳәааҿы инхоз ауаа рыҩнусқәа бзиа ибаӡомызт. Иҭаацәараҿы, иара убас игәылацәа рҟынтә шьоукгьы аамҭак азы аашьаҩыс дрыԥхьаӡон.[19] Ашьҭахь иара идырҵоз зегьы игәы ацԥыҳәаны анагӡара далагеит. Линкольн қәыԥш адәахьтәи аусқәа ихы рылаирхәуан, насгьы даныҩеидас, еиуеиԥшым аусурақәа рҟны аҟәрышь ирҳауан — аԥошьҭаҿы, амҿыԥҟаҩыс, адгьылшәаҩыс, насгьы аӷбаҟаҵаҩыс.[20] Еиҳараӡак иара ицааиуаз амҿыԥҟара акәын. Линкольн ашәарыцареи аԥсыӡкреи иҽырцәихьчон, ихатә дунеихәаԥшышьа иахьаҵанамкуаз иахҟьаны. Линкольн иара убасгьы дақәшаҳаҭхеит усҟантәи аамҭазы инормаз аԥа 21 шықәса ихыҵаанӡа аҩны анҭыҵтәи аусура аҟынтәи иоууаз аԥара зегьы иаб иҭара адҵа.[21]

Убри аамҭазы, Линкольн иаб еиҳа-еиҳа дицәтәымхо далагеит, еиҳаракгьы иаб аҵара ахьимамыз иахҟьаны. Авраам аҭаацәараҿы раԥхьаӡа аҩреи аԥхьаӡареи зҵаз иакәхеит, аха иара ихаҭа излаиҳәоз ала, аҭаацәара иахьрыцхраалатәыз азы шықәсык еиҳамкәа ракәын ашколахь дахьныҟәоз. Даныхәыҷыз аахыс иара ашәҟәқәа дрызҿлымҳахеит, урҭ рахь имаз абзиабара иԥсҭазаара зегьы иалигеит. Ихәыҷраантәи иҩыза Деннис ԥыҭрак ашьҭахь иҩуан:[22]

“Еибу 12 шықәса анихыҵ ашьҭахь, ахаангьы дсымбацызт ашәҟәы инапы иакымкәа... Уахынла ақьалаҿы, аҟәардә хыршәҭны, алашара иакәаргыланы, аҵкар днықәтәаны аԥхьара далагон. Ари уамашәа иубартә иҟоуп, арԥыс абриаҟара аԥхьара ахьилшоз”[23]

Линкольн даныхәыҷыз даԥхьахьан Абиблиа, “Робинзон Крузо”, “Џьорџь Вашингтон иҭоурых”, Эзоп иажәабжьқәа. Уи адагьы, игәылацәа асаламшәҟәқәа рыҩраҿы дрыцхраауан, убасала играматикаеи истильи еиӷьтәуа. Зны-зынла 30 миль ныҟәаны аӡбарҭахь дцон, адукатцәа рықәгыларақәа рзыӡыҩразы.[24][25][26]

Авраам Линкольн иқәыԥшраан

1830 шықәсазы Авраам Линкольн иҭаацәа ҩаԥхьа рынхарҭаҭыԥ рыԥсахит. Линкольн, даныҩеидас, ихақәиҭу аԥсҭазаара алагара иӡбоит. Иара аамҭалатәи аусура иԥшаауеит, уи Миссисипи аӡиас ала Орлеан Ҿыцҟа днанагеит, уаҟа Линкольн атәцәа рџьармыкьа даҭааит, иԥсы ҭанаҵгьы атәра ицәымӷны дҟалеит. Дук мырҵыкәа Иллиноис аштат Ниу-Сеилем ақыҭаҿы анхара далагеит. Уаҟа зхы иақәиҭыз иаамҭа зегьы аҵареи аҭыԥантәи ашкол арҵаҩы иҟны аҽазыҟаҵареи ирзикуан. Уахынла аԥхьаҟа аҳәынҭқарра иахагылараны иҟаз Линкольн акәиц алашарала ашәҟәқәа дрыԥхьон.[27]

1832 шықәсазы Линкольн Иллиноис Азакәанԥҵаратә еизарахь дықәгылан, аха аиааира илымшаӡеит. Уи ашьҭахь системала аҭҵаарадыррақәа рҵара далагеит. Линкольн аханатә джьиихарц иҭахын, аха адунеитә ӡбаҩы даниабадыр ашьҭахь уи азакәандырра иҽазҵәылихит. Убри аамҭазы иҩызеи иареи ахәаахәҭратә дәқьанхәыҷ аҟны аҟәрышь дырҳарц иаҿын, аха русқәа маншәалахомызт. Сендберг, еицырдыруа аҳәынҭқарра ахада ибиографиа автор, иҩуеит:

"...Линкольн дзыԥхьоз, насгьы гәыхәтәыс имаз инапы алакын. Иҟаиҵашаз ус ҳәа акгьы имамызт, мшынаҟьа ихәыцрақәа дранаханы дтәазар илшон, аӡәгьы диԥырхагахомызт. Адәахьтәи ари имҵысра аҵаҟа хшыҩла аизҳара, ашәра мҩаԥысуан, хәыҷы-хәыҷла, аха еиԥҟьарада."[28]

1832 шықәсазы Иллиноис аиндееццәа ржәыларақәа хацыркын, урҭ рыԥсадгьыл ааныжьны мраҭашәараҟа, Миссисипи аӡиас анырцә ацара рҭахымызт. Линкольн архәҭа далалеит, насгьы капитанс далхын, аха аидысларақәа дрылахәымызт. 1833 шықәсазы Линкольн Ниу-Сеилем аԥошьҭа аиҳабыс дҟаҵан. Уи иабзоураны, иара еиҳа зхы иақәиҭыз аамҭа иоуит, аҵара иазикуаз. Амаҵураҭыԥ ҿыц алшара инаҭон аԥошьҭа ишьҭаанӡа аполитикатә газеҭқәа рыԥхьара.

1833 шықәса анҵәамҭаз Линкольн адгьылшәаҩ иҭыԥ иоуит. Ари аусура дақәшаҳаҭханы, бжьымшы рыҩныҵҟа иҽадцаланы Гибсон иҩымҭа “Атопографиатә ус атеориеи апрактикеи”, иара убас Флинт иҩымҭа “Агеометриеи, атригонометриеи атопографиеи” ҭиҵаауан.[29]

Ниу-Сеилем данынхоз ашықәсқәа раан Линкольн лассы-лассы аԥара аԥсахра иқәшәон. Иуалқәа зегьы инагӡаны ршәара шьцыларас иахьимаз азы ауп зегь реиҳа еицырдыруа ихьӡшьарагьы ахьынтәааз — «Аиаша Еиб».

Аполитик, адукат иаҳасабала икариера алагамҭа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

1835 шықәсазы (26 шықәса анихыҵуаз) Линкольн Иллиноис Аштат Азакәанԥҵаратә еизарахь далхын, уаҟа авигцәа дрылалеит. Линкольн аполитикатә аренахь данцәырҵ, Эндриу Джексон Еиду Америкатәи аштатқәа рыпрезидентс дыҟан. Линкольн аполитикатә усмҩаԥгатәқәа рҿы ажәлар рықәгәыӷра дазыразын, аха афедералтә центр аштатқәа рекономикатә ԥсҭазаара аиҿкаара мап ацәкра политика дақәшаҳаҭмызт. Аизара ду аилатәара ашьҭахь, уаанӡа аасҭа еиҳагьы ӷәӷәала азакәанҭҵаара иҽазикит. Иара ихаҭа аҵара аниҵа ашьҭахь, Линкольн 1836 шықәсазы адвокатцәа рԥышәара дахысит. Уи ашықәс азы, Азакәанԥҵаратә еизараҿы, Линкольн илшеит аштат аҳҭнықалақь Вандеилиа аҟынтәи Спрингфилдҟа аиагара, 1837 шықәсазы нхара уахь дагьиасит. Уаҟа Уилиам Батлери иареи афирма “Стиуарти Линкольни” аԥырҵеит. Азакәанԥҵаҩ, адукат қәыԥш иаарласны ахьӡ-аԥша ирҳаит ицәажәаратә ҟазареи ицқьареи рыбзоурала. Лассы-лассы аӡбарҭаҿы иихьчоз иӷарыз атәылауаа рахьтә аԥара идикыломызт; аусеилыргараҿы ауааԥсыра ацхыраара рыҭаразы аштат ахи-аҵыхәеи еимидон. 1837 шықәсазы аболиционисттә газеҭ аҭыжьҩы даныршь ашьҭахь, Линкольн Спрингфилд ақалақь аҿы иҟаз Аҿар рлицеи аҿы раԥхьаӡа акәны апринциптә ажәахә ҟаиҵеит, адемократиа, аконституциа, ашьаҭаркҩцәа рҭынха рыхә азгәаҭо.

Линкольн иҭаацәара. 1860-тәи ашықәсқәа рзтәи акьыԥхьымҭа
Мери Тодд, Авраам Линкольн иԥҳәыс.

1840 шықәсазы Линкольн длабадырит Кентукки инхоз аҭыԥҳа Мери Тодд (англыз бызшәала: Mary Todd, 1818—1882) насгьы абҵарамза 4, 1842 шықәсазы урҭ еибагеит. Мери ԥшьҩык аԥацәа лхылҵит, хҩык урҭ рахьтә ишыхәыҷқәаз рыԥсҭазаара иалҵит:[30]

  1. Роберт Тодд Линкольн (1843—1926). Линкольн иԥеиҳабы. Америкатәи азиндырҩы, аибашьратә министр. Иара ԥҳәысс диман Мери Харлан Линкольн, уи хҩык ахәыҷқәа лхылҵит.
  2. Едвард Линкольн диит хәажәкырамза 10, 1846 шықәсазы, иԥсҭазаара далҵит жәабранмза 1, 1850 шықәсазы, Спрингфилд.
  3. Уилиам Линкольн диит ԥхынҷкәынмза 21, 1850 шықәсазы, иԥсҭазаара далҵит жәабранмза 20, 1862 шықәсазы, Вашингтон, иаб аҳәынҭқарра ахадас даныҟаз аамҭазы.
  4. Томас Линкольн диит мшаԥымза 4, 1853 шықәсазы, иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәымза 16, 1871 шықәсазы, Чикаго.[31][32][33][34]

Апрезидентра аҟынӡа аполитикатә мҩа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Авраам Линкольн 1857 шықәсазы
Авраам Линкольни иԥа Томаси, 1865 шықәса

1846 шықәсазы Линкольн Аконгресс ахаҭарнакцәа Рпалатахь далхын (1847–1849) авигцәа рпартиа далахәыланы. Вашингтон, уи ҷыдала анырра имамкәа, активла даҿагылон Аҳәынҭқарра ахада Полк америка-мексикатәи аибашьраҿы иҟаиҵоз, Еиду Америкатәи аштатқәа рганахьала иҵаҵӷәыдоу ацәгьоура ҳәа иԥхьаӡаны. Ус шакәызгьы, Линкольн ибжьы иҭиуан Аконгресс аҟынтәи арразы аԥара азоужьразы, згәабзиара уашәшәыроу аруаа, зхацәа ҭахаз аҳәса аматериалтә цхыраара рыҭаразы, иара убасгьы аҳәса абжьыҭаратә зинқәа рыҭара дадгылеит. Линкольн аболиционистцәа дрыдгылан, атәра даҿагылаҩын, аха иаахҵәаны аус аӡбара иҟазшьамызт, насгьы атәцәа хәыҷы-хәыҷла ахақәиҭра рыҭара дазықәԥон, избан акәзар иара Аидгыла аизакра рхақәиҭра аасҭа еиҳа иҳаракны иргылон.[6]

Америка-мексикатәи аибашьра аҿагылара Линкольн иштат гәакьаҿы ихьӡ бжьнахит, убри аҟнытә иара иӡбеит ахаҭарнакцәа Рпалатахь даҽазнык ахықәыргылара мап ацәкра. 1849 шықәсазы Линкольн усҟантәи Орегонтәи аҵакыра амаӡаныҟәгаҩыс дшыҟаҵаз адырра ирҭеит. Уи идикылазҭгьы, еизҳазыӷьоз Иллиноис аҿы икариера ахыркәшара аанагон, убри аҟынтә иара уи амаҵура мап ацәикит. Линкольн аполитикатә усура дацәхьаҵын, анаҩстәи ашықәсқәа рзы азакәандырратә ус инапы алакын, аштат аҿы аԥхьагылара змаз адукатцәа дыруаӡәкхеит, насгьы аихамҩа “Иллиноис-Сентрал” азакәантә бжьгаҩыс дыҟан. 23 шықәсатәи изинҭҵааратә усура иалагӡаны Линкольн 5 100 уск дрылахәын (иҭаҩым аусқәа аламҵакәа), насгьы 400-нтә еиҳаны аштат Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿаԥхьа дықәгылахьан.[35][36]

1856 шықәсазы, иаргьы, ԥыхьатәи авигцәа реиԥш, 1854 шықәсазы иаԥҵаз атәра иаҿагылоз Ареспубликатә партиа далалеит, 1858 шықәсазы ЕАА асенат аҿы аҭыԥ аанкыларазы кандидатс дҟаҵан. Алхрақәа рҿы иҿагылаҩыс дыҟан адемократ Стивен Дуглас. Линкольни Дугласи реицәажәара, атәра азҵаара иахьалацәажәоз, зегьы еицырдыруа иҟалеит (шьоукы урҭ адебатқәа «агигант хәыҷи» (С. Дуглас) «аԥынҵамрыцқьа дуи» (А. Линкольн) реимак ҳәа иашьҭан). Линкольн даболиционистымызт, аха аморалтә ҵаҵӷәқәа рыла атәра даҿагылон. Иара атәра Аҩадатәи ааглыхратә економикаҿы ихымԥадатәиу цәгьарак еиԥш иԥхьаӡон. Дуглас иаргументқәа рҿагылара иҽазышәо, заҿагылаҩ арадикализм ихаразҵоз, Линкольн агәра ииргон анегрцәа аполитикатәи аграждантәи зинқәа рыҭара, иара убас арасақәа рыбжьара аҭаацәараԥҵара ақәшаҳаҭхара дшазхиам, избан акәзар, иара игәаанагарала, ашкәакәеи аиқәаҵәеи арасақәа рыбжьара иҟоу ацәеижьтә еиԥшымзаареи, аԥхьатәи ахадареи урҭ ахаангьы алшара рнаҭом “асоциалтәи аполитикатәи еиҟарара аҭагылазаашьаҿы аицыҟазаара”. Атәра азҵаара, иара игәаанагарала, хазы игоу аштатқәа рымчра иаҵанакуан, афедералтә ҳәынҭқарра аконституциатә зин амамызт ари апроблема аҽалагаларазы. Уи аамҭазы, Линкольн ӷәӷәала даҿагылон атәра аҵакырадгьыл ҿыцқәа рахь аларҵәара, уи атәра ашьаҭақәа ҵнашәаауан, избан акәзар уи аԥсабара ахьыҭбааз иахҟьаны Мраҭашәаратәи адгьылқәа рахь аҽырҭбаара аҭахын. Стивен Дуглас алхрақәа рҿы аиааира игеит, аха Линкольн атәра иаҿагылоз иажәахә “Аҩны еиҟәшоу”, атәыла “атәрабжа, мамзаргьы ахақәиҭрабжа” аҭагылазаашьаҿы аҟазаара шалымшо ахьышьақәирӷәӷәо, ЕАА рҟны инарҭбааны ирылаҵәеит, уи автор атәра иаҿагылоу ақәԥаҩ ҳәа ахьӡ изаԥнаҵеит.[37]

1859 шықәса жьҭаарамзазы, аболиционист Джон Браун ирхәҭа ақалақь Харперс-Ферри иақәлан уи аџьаԥҳаны рнапахьы иааргеит, аҩадаҟа атәцәа ржәылара ахацыркра иақәгәыӷны. Архәҭа аштат ар иаанкыланы иҭадырхеит. Линкольн Браун иҟаиҵаз дақәыӡбеит, атәра азҵаара мчыла аӡбаразы аҽазышәара ҳәа.

Аҳәынҭқарра Ахада иалхреи аинаугурациеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Апрезидентрахь акандидат Авраам Линкольн, 1860 шықәса.
Ихадароу астатиа: ЕАА рҟны Ахада иалхрақәа (1860)

Атәра азҵаараҿы ибжьаратәыз игәаанагара иабзоураны Линкольн 1860 шықәсазы алхрақәа раан Ареспубликатә партиа акомпромисстә кандидатк иаҳасабала далххеит. Аладатәи аштатқәа ареспубликанеццәа аиааира ргар, Аидгыла ишалҵуа рҳәахьан. Аҩ-партиак, адемократиатәи ареспубликантәии, акандидатцәа рхаҿала иаадырԥшуаз аилкаарақәа рзы аиҿагылара рыбжьан. Америкауаа Линкольн ихаҭара аџьабаа ду, аиашара, ауаажәларра рзааигәара иадырҳәалон. Ажәлар ирылҵыз, иара «зхала зхы аԥызҵаз» уаҩын. Абҵарамза 6, 1860 шықәсазы, раԥхьаӡакәны ауааԥсыра 80% иреиҳаны алхрақәа ирылахәхеит. Линкольн, ҩыџьа акандидатцәа ықәзыргылаз Адемократиатә партиа аиҟәшара абзоурала, алхрақәа рҿы иҿагылацәа драԥысны Еиду Америкатәи аштатқәа рхрдрс дҟалеит, насгьы ипартиа ҿыц аҟынтәи иара раԥхьаӡатәи президентхеит. Линкольн алхрақәа рҿы аиааира игеит еиҳарак Аҩадатәи аштатқәа ирҭаз адгылара абзоурала. Аладатәи жә-штатк рҿы Линкольн ихьӡ зынӡагьы абжьыҭиратә биуллетенқәа рҟны иарбамызт, насгьы 996 округқәа рҟынтә 2 заҵәык арҟны ауп аиаааира агара ахьилшаз.

Аидгыла аихшареи Линколин иинаугурациеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Линкольн атәра аларҵәара даҿагылаҩын, алхрақәа рҿы иигаз аиааира америкатәи ажәлар еиҳагьы еиҟәнашеит. Иара инаугурациа ҟалаанӡагьы, 7 штатк, Аладатәи Каролина аԥшьгарала, Еиду Америкатәи аштатқәа реилазаара ишалҵуа атәы рҳәеит (Аладатәи Каролина, Миссисипи, Флорида, Алабама, Џьорџьиа, Луизиана, Техас). Хыхьтәи Аҩада (Вирџьиниа, Аҩадатәи Каролина, Теннесси, Арканзас, иара убас Кентуккии Миссурии рыхәҭақәак) раԥхьаӡа аҽаҟәыҭхаразы ааԥхьара мап ацәыркит, аха дук хара имгакәа аҿагылара иацлеит. Макьана знапынҵақәа назыгӡоз Аҳәынҭқарра ахада Џьеимс Биукенени ҿыц иалхыз ахада Линкольни ахы ақәиҭтәра азхаҵара мап ацәыркит. 1861 шықәса жәабранмзазы, Монтгомери (Алабама) имҩаԥ аконституциатә конгресс Америка Аконфедерациатә Штатқәа раԥҵара рыланаҳәеит, насгьы Џьефферсон Девис президентс далнахит, уи амзазы аҭоуба здызкылаз. Ричмонд аҳәынҭқарра иаҳҭнықалақьны иҟалеит.

Линкольн Балтимор ишьра зҭахыз дрыцәцеит, насгьы Вашингтонҟа днеит жәабранмза 23, 1861 шықәсазы иҷыдоу адәыӷбала. Хәажәкырамза 4 рзы иинаугурациа аан аҳҭнықалақь аҭышәынтәалара еиқәзыршәоз аруаа рыла иҭәын. Иажәахә аҿы Линкольн иҳәеит:

Сара агәра згоит, адунеизегьтәи азакәани Аконституциеи рганахьала, арҭ аштатқәа реидгылара наӡаӡатәиуп ҳәа. Анаӡаӡара, еилыкка иҳәамзаргьы, аҳәынҭқарратә напхгараҭара аформақәа зегьы рзы Ихадоу Азакәан аҿы иануп. Ҳәарада, иаҳҳәар ҳалшоит, иарбан напхгараҭаратә системазаалак ахаангьы Ихадоу Азакәан аҿы иара аҟазаара аанкыларазы аԥҟара амамызт ҳәа...

Даҽазныкгьы, Еиду Аштатқәа ажәа ииашоу аҵакы ала анапхгараҭаратә система акәымзар, аха аиқәшаҳаҭра мацарала ишьақәгылаз аштатқәа реилазаара акәзар, усҟан иалшоумашь уи анаԥҵаз аамҭазы иҟаз аганқәа раасҭа зхыԥхьаӡара маҷу аганқәа рыла ҭынч мҩала иаԥыхзар? Аилаӡара иалоу ганкы уи еиланагар алшоит, даҽакала иуҳәозар, иԥнажәар, аха закәанла уи аԥыхразы зегьы рақәшаҳаҭра аҭахӡами? Абарҭ азеиԥш принципқәа ҳрықәныҟәаны, ҳара ҳазааиуеит закәантә хшыҩзышьҭрала Аидгыла шнаӡаӡатәу агәаанагара, уи шьақәнарӷәӷәоит Аидгыла аҭоурых ахаҭагьы. ... Ус анакәха, иарбан штатзаалакгьы Аидгыла хатәгәаԥхарала алҵра азин шамам, уи азы ирыдыркыло аӡбарақәеи аусԥҟақәеи азакәантә мчы шрымам, насгьы иарбанзаалак аштат аҟны (мамзаргьы аштатқәа) Еиду Аштатқәа Рнапхгара иаҿагыло ақәымчратә усқәа ақәгыларатә ма ареволиуциатә ҟазшьа аархәоит.[38]

Иажәахә аҿы Линкольн иара убас иҳәеит «атәра ахьыҟоу аштатқәа рҿы атәра аиҿкаара аусура ишиашоу мамзаргьы днавс-аавсны аҽалагалара игәы ишҭам»: «Сгәы иаанагоит уи аҟаҵаразы азакәантә зин сымам, насгьы уи аҟаҵара сҭахым». Линкольн ааԥхьара ҟеиҵон аиҿагылара ҭынч мҩала аӡбаразы, насгьы Еиду Аштатқәа ракзаара аиҭашьақәыргыларазы. Аха алҵра хыркәшахахьан, насгьы Аконфедерациа арратә усмҩаԥгатәқәа рҽазыҟаҵара иаҿын. ЕАА Аконгресс аҿы аладатәи аштатқәа рхаҭарнакцәа реиҳараҩӡак уи ааныжьны Аҩадатәи аганахь ииасит, Америка Аконфедерациатә Штатқәа ральтернативатә Конгресс шьақәыргыланы.

Имаҵура данахагыла ашьҭахь, Линкольн аҭыԥқәа ршаразы апроктекционисттә система ихы иаирхәеит. 1861 шықәса ааԥынразы, адемократцәа рнапхгара аҵаҟа иҟаз аҭыԥқәа рҟынтәи 80% ареспубликанцәа иааныркылахьан. Аҳәынҭқарра ахадара Линкольн иҿагылаҩцәагьы алаирхәит: Америка Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ иҭыԥ Уилиам Сиуард иҭан, аиустициақәа рминистрЕдвард Беитс, афинансқәа рминистрСалмон Чеиз.

ЕАА аграждантә еибашьра

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: ЕАА аграждантә еибашьра

Аибашьра алагамҭа (1861-1862)

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аибашьра иалагеит мшаԥымза 12, 1861 шықәсазы Чарлстонтәи асқьалаҿы иҟоу афорт Самтер аладаа рақәларала, 34-сааҭ аиҿахысрақәа рышьҭахь рнапахьы иааргаз. Уи аҭакс, Линкольн аладатәи аштатқәа абџьаршьҭыхратә ҭагылазаашьа рымоуп ҳәа рылеиҳәеит, Аконфедерациа амшын аганахьала аблокада азуразы адҵа ҟаиҵеит, 75 000 ҩык хатәгәаԥхарала аррахь дрыԥхьан, анаҩс аррахь ааԥхьара хымԥадатәны иҟеиҵеит. Линкольн иинаугурациа ҟалаанӡагьы, абџьари аџьаԥҳани рацәаны аладаҟа иааргеит, афедералтә бџьарҵәахырҭақәеи аизгарҭақәеи рымпыҵархалеит. Араҟа иҟан зегь реиҳа аибашьра иазыхиаз архәҭақәа, урҭ афедералтә ар аанзыжьыз шәҩыла афицарцәа рыла ихаҭәаауан. Аграждантә еибашьра алагамҭа Аҩадазы иманшәаламхеит. Аибашьра зҽазыҟаҵаны иҟаз аладаа, Аҩада еиҳау арратәи аекономикатәи лшарақәа еизнагаанӡа, Аидгыла арбџьармчқәа ицҟьаны рышьҭаҵара иахыццакуан. Арратә маншәаламхареи аекономикатә уадаҩрақәеи рзы ӷәӷәала ақәыӡбара зоууаз Линкольн, арратә ԥышәа шимамызгьы, аибашьра иазыхиоу ар ашьақәыргыларазы ашьаҿа иашақәа ҟеиҵеит, атәылауаҩратә хақәиҭрақәа рыԥкрақәа мамзаргьы Аконгресс абиуџьет аҿы макьана ишьақәырӷәӷәамыз аԥара ахархәара рҿаԥхьагьы даанымгылаӡакәа.[39][40]

Авраам Линкольн анапхгараҭаратә мыругақәа инапаҿы рааныжьра иҽазишәон, аибашьра алагамҭазы иаԥҵан Еиду Аштатқәа рыр ателеграфтә корпус, архәҭақәа напхгара рыҭаразы. Ҳаамҭазтәи ауаа ражәақәа рыла апрезидент лассы-лассы Арратә Департамент ателеграфтә усбарҭаҿы днеилон, насгьы кырзҵазкуа ажәабжьқәа дырзыԥшны иаамҭа акыр уаҟа ихигон. Уимоу, адепартамент аҿы столк ҷыдала Авраам Линкольн изалхын.[41][42]

Вирџьиниа Манассастәи аихамҩатә станциаҿы ԥхынгәымза 21, 1861 шықәсазы иҟалаз раԥхьатәи аидыслара ду аҿы афедералтә ар аҵахеит. Абҵарамза 1 азы Линкольн Џь.Б.Макклеллан дҵаҟаҵаҩ хадас дҟеиҵеит, уи аццакра иҽацәихьчон. Жьҭаарамза 21 азы иара ирхәҭақәа Вашингтон азааигәара иҟәыбан. Абҵарамза 8, 1861 шықәсазы аладатәи ацҳаражәҳәаҩцәа зҭаз британиатәи аӷба “Трент” ырҭаслымын. Уи “Тренттәи аус” мзызс иазыҟалан Британиа Ду абашьра ахылҿиаарц егьагымхеит.

Жәабранмза-хәажәкырамза 1862 шықәсазы аинрал Улисс Грант аладаа Теннессии Кентуккии рҟынтәи рықәцара илшеит. Аԥхынразы Миссури аштат ахы иақәиҭтәны, Грант ирхәҭақәа Миссисипии Алабамеи аҩадатәи ррегионқәа рахь ицәырҵит. Аӡхыҵратә операциа абзоурала, Ниу-Орлеан мшаԥымза 25, 1862 шықәсазы иааныркылеит. Линкольн Макклеллан адҵаҟаҵаҩ хада иҭыԥ аҟынтәи Ричмонд ампыҵахалара дҵас измаз архәҭақәа руак аԥызас дҟеиҵеит. Макклеллан ахьчаратә тактика ажәылара аасҭа аԥыжәара аиҭеит. Нанҳәамза 29-30 рзы Булл-Рантәи аидыслараҿы аҩадаа аҩынтәраан ацҟьаны иқәҵан, уи ашьҭахь Линкольн 500,000-ҩык аррахь ааԥхьара риҭеит. Цәыббрамза 7 рзы аӡыхь Ентитем аҟны, 40-нызқьтәи Аҩадатәи архәҭа Макклеллан 70-нызқьтәи ирхәҭа ажәлеит, урҭ аконфедерациаа иагьыриааит. Потомак аӡиас ахыҵра ашьҭахьҟа ицоз амҩа анаркит, аха Макклеллан, Линкольн адҵа шииҭазгьы, анаҩстәи ажәылара мап ацәикын аладаа рҟәыбара анагӡаразы алшара иаҩижьит, Ли шьҭахьҟа ихьаҵра иацхраауа.

Ентитем аибашьра ашьҭахь, Британиеи Франциеи аибашьра алахәхареи Аконфедерациа азхаҵареи мап ацәыркит. Аибашьра ашықәсқәа рзы Урыстәылеи Еиду Америкатәи аштатқәеи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьан. Урыстәылатәи аескадра 1863—1864 шықәсқәа рзы Сан-Францискои Ниу-Иорки иаҭааит.

1862-тәи ашықәс аҭоурых аҿы раԥхьаӡакәны аихатә ӷбақәа рыбжьара аибашьра аныҟалаз ҳәа иалкаауп, уи мҩаԥысит хәажәкырамза 9 рзы Вирџьиниа аԥшаҳәаҿы. 1862 шықәсазтәи акампаниа хыркәшахеит аҩадаа раҵахарала Фредериксбург ақалақь аҿы ԥхынҷкәынмза 13 рзы.

Линкольни аинрал Џьорџь Макклелани, хәажәкырамза 10, 1862 шықәсазы

Аполитикатә процесс

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Афедералтә ар аҵахара хьанҭақәа атәыла ауааԥсыра рыбжьара агәынамӡара ӷәӷәа цәырнагон. Линкольн Ареспубликатә партиа аҟынтәи ақәыӷәӷәара иман, уи иаҵанакуан атәра иаразнак аԥыхра иадгылазгьы, хәыҷы-хәыҷла атәцәа рхы рақәиҭтәра иадгылазгьы. Линкольн акомпромисстә политика дақәныҟәон, уи абзоуралагьы апартиа аиҩшара аԥхьырҟәҟәаара илшеит. Уи агәра ганы дыҟан аибашьраангьы атәылаҿы аполитикатә процесс мҩаԥыслар шакәу. Уи абзоурала Аграждантә еибашьра аан ажәа ахақәиҭра ахьчареи, атәылауаҩратә хақәиҭрақәа рзы ӷәӷәалатәи аԥкрақәеи ҩ-партиактәи асистема акризис ацәцареи алыршахеит. Линкольн ихадараан алхрақәа мҩаԥысуан, атәылауаа аҳәынҭқарра анапхгараҭара рхы аладырхәуан. Аладаа афорт Самтер ианақәла ашьҭахь, Адемократиатә партиа алахәылацәа рыхәҭак аҳәынҭқарратә политика иадгылоз «иақәшаҳаҭу аҿагылара» шьақәдыргылеит. Нанҳәамза 22, 1862 шықәсазы агазеҭ “Ниу-Иорк трибиун” аниҿцәажәоз атәцәа рхы рақәиҭтәра дзахымыццакуа ҳәа азҵаара анирҭа, Линкольн аҭак ҟаиҵеит:

Ари ақәԥараҿы сара сзы иреиҳау хықәкыс иҟоуп аидгыла аиқәырхара, атәра аиқәырхара мамзаргьы аԥыхра акәӡам. Аидгылара аиқәырхара сылшозҭгьы, атәцәа рахьтә аӡәгьы ихы дақәиҭымтәӡакәа, иҟасҵон, атәцәа зегьы рхы иақәиҭтәны уи еиқәсырхар сылшозҭгьы, еиқәсырхон, ннасгьы тәцәақәак рхы иақәиҭтәны, егьырҭ рхы иақәиҭымтәкәа еиқәсырхар сылшозҭгьы, уигьы ҟасҵон. Атәра азҵаараҿы иҟасҵо аусқәа насгьы аԥштәы змоу арасазы, сара иҟасҵоит, избанзар агәра згоит уи аидгыла аиқәырхара ишацхраауа... Абри ала сара абраҟа официалтә уалԥшьаны исыԥхьаӡо сыгәҭакы еиҭасҳәеит. Иара убас лассы-лассы иазгәасҭо схатә гәазыҳәара аԥсахра сгәы иҭаӡам, зегьынџьара ауаа зегьы ахақәиҭра рымазарц шрыхәҭоу.

Ихадароу астатиа: Гомстед-акт

Авраам Линкольн иаԥшьгарала 1862 шықәса лаҵарамза 20 рзы Гомстед иазку акт рыдыркылеит, уи инақәыршәаны Еиду Аштатқәа ртәылауаҩ дарбанызаалак 21 шықәса зхыҵыз, насгьы Аконфедерациазы имеибашьуаз ауаажәларратә фонд адгьылқәа рҟынтәи 160 акр (65 гектар) еиҳамкәа адгьыл ҭыԥ иоур илшон. Азакәан амчра аиуит ажьырныҳәамза 1, 1863 шықәсазы. Адгьыл ақәаарыхра, насгьы ахыбрақәа ақәыргылара иалагаз анхаҩы 5 шықәса рышьҭахь ари адгьыл хақәиҭрала атәразы азин иоууан. Адгьыл ҭыԥ аҿҳәаранӡагьы иааихәар илшон, акрк 1,25 доллар ахшәааны. Гомстед-акт ала Еиду Аштатқәа рҿы 2 миллион гомстед раҟара рызшан, иааидкыланы 285 миллион акр (115 миллион гектар) раҟара. Ари азакәан аграртә проблема шьаҭанкыла иаӡбеит, ақыҭанхамҩа аҿиара афермерцәа рхырхарҭала идәықәҵаны, уаанӡа ацәҳәыра ахьыҟаз аҭыԥқәа рықәынхара иазнанагеит, насгьы Линкольн ауааԥсыра рӷьырак рыдгылара инаҭеит.[43]

Атәцәа рхы рақәиҭтәра

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: ЕАА рҿы атәра аԥыхра
Еиду Америкатәи Аштатқәа рыпрезидент Авраам Линкольн

Аибашьраҿы ақәымҿиарақәеи уи аамҭа аиҵыхреи хәыҷы-хәыҷла Линкольн атәра азҵаара аганахьала имаз азнеишьа аԥсахуан. Иара дазнеиуан убри аиԥш агәаанагара, Еиду Аштатқәа ма зынӡа ахақәиҭра роуеит, мамзаргьы зынӡа атәцәа ирҳәынҭқаррахоит ҳәа. Еилкаахо иалагон аибашьра ахықәкы хада — Аидгыла аиҭашьақәыргылара, атәра аԥыхра ада анагӡара шалымшо. Линкольн, еснагь анегрцәа хәыҷы-хәыҷла компенсациатә шьаҭала рхы рақәиҭтәра иадгылоз, уажәы атәра ақәгара хымԥадатәиуп ҳәа иԥхьаӡон. Аинститут ақәгаразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан 1862 шықәса зегьы иалагӡаны. 1862 шықәса, ԥхынҷкәынмза 30 рзы Аҳәынҭқарра Ахада инапы аҵаиҩит “Атәцәа рхақәиҭтәразы апрокламациа”, Еиду Америкатәи аштатқәа ирҿагылаз адгьылҵакырақәа рҿы инхоз атәцәа «уажәшьҭарнахыс наӡаӡа» ахақәиҭра рымоуп ҳәа рылазҳәаз. Адокумент америкатәи аконституциаҿы XIII-тәи аиҭакра (1865) адкылара иацхрааит, Еиду Аштатқәа рҟны атәра зынӡаск иаԥызхыз. Апрокламациа ииашаны иақәыӡбеит арадикалтә республиканеццәа, избан акәзар уи афедералтә ҳәынҭқарра амчра ахьаҵанамкуаз аҭыԥқәа рҿы атәцәа ахақәиҭра рынаҭеит, аха уи Аграждантә еибашьра аҟазшьа аԥсахит, атәра аԥыхразы аибашьрахь ииаганы. Уи адагьы, уи даара иӷәӷәаз политикатә шьаҿаны иҟалеит, насгьы аҳәаанырцәтәи атәылақәа, Британиа Дуӡӡагьы уахь иналаҵаны, Аконфедерациа адгылара арымҭар ада ԥсыхәа рымамкәа иҟанаҵеит. Британиатәи аԥыза-министр Палмерстон ауаажәларратә ҿагылара амзыз ала аҽалагалара аиҿкаара илымшеит. Атәцәа рхы рақәиҭтәра алшара аԥнаҵеит зцәа еиқәаҵәоу америкауаа аррахь рааԥхьаразы. Аибашьра анҵәамҭазы афедералтә рыхәҭақәа 180 нызқьҩык анегрцәа рхыԥхьаӡалан.

Аграждантә еибашьраҿы аиҭашәара. Геттисбергтәи ажәылара

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Геттисбергтәи аибашьра

Хәажәкырамза 3, 1863 шықәсазы, Еиду Аштатқәа рҭоурых аҿы раԥхьаӡакәны арратә уалԥшьа алагалан. Убри аамҭазы, абеиацәа азин рыҭан рҭыԥан даҽа шьоукы қьырала рдәықәҵареи амаҵзура аҟынтәи ԥарала ахҿыхреи, уи агәҭынчымрақәа цәырнагеит, Линч иусӡабарақәа ирықәӡыз анегрцәа жәпаҩык ҭахеит.

1863 шықәса лаҵарамзазы 130-нызқьтәи Аидгыла ар 60-нызқьтәи аинрал Ли ир аҟны иаҵахеит. Аҩадаа шьҭахьҟа ихьаҵит, аконфедератцәа ракәзар, аҩадантәи Вашингтон иаҩсны, Пенсильваниа иалалеит. Абри аҭагылазаашьаҿы, Геттисбергтәи хымштәи аибашьра алҵшәа аҵакы ӷәӷәа аанахәеит, аҩганкгьы 50 нызқьҩык инареиҳаны ауаа ахьҭахаз. Ли ир аҵаханы Вирџьиниаҟа ихьаҵит. Ԥхынгәымза 4 рзы мраҭашәаратәи афронт аҿы, мшырацәалатәи аҭаԥшыхәреи иқәҿиарадахаз ажәыларақәа ҩбеи рышьҭахь, аинрал Грант Виксбергтәи абаа импыҵеихалеит. Ԥхынгәымза 8 рзы Луизиана иҟоу Порт-Худсон ган. Убри алагьы Миссисипи аӡиас аԥшаҳәа анапхгара шьақәгылеит, насгьы Аконфедерациа ҩ-хәҭакны еиҟәшахеит. Абҵарамза 19, 1863 шықәсазы Геттисбергтәи амилаҭтә нышәынҭра аартра ацеремониа мҩаԥысит, иҭахаз аибашьра алахәылацәа анышә иахьамардаз. Амемориал аартраҿы Линкольн зегь реиҳа еицырдыруа иажәахәқәа руак ҟаиҵеит, даҽазныкгьы иҷыдоу ицәажәаратә баҩхатәра шьақәзырӷәӷәаз. Ажәахә кьаҿ анҵәамҭазы иҳәан:

“Ҳара ҭакԥхықәрала иҳаӡбароуп, абарҭ аԥсрақәа башаны ишыҟамло, ҳмилаҭ Анцәа илаԥш аҵаҟа ахақәиҭра ахыҵхырҭа ҿыц шроуа, насгьы ажәлар рҳәынҭқарра, ажәлар рыла ажәлар рзы иаԥҵоу, адгьыл аҟынтәи ишықәымӡаауа.”[44]

1863 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Линкольн ақәгылаҩцәа зегьы (Аконфедерациа анапхгаҩцәа рыда) амнистиа иақәиргәыӷит, аха уи азы Еиду Аштатқәа рызиашаразы аҭоуба ҟаҵаны атәра аԥыхра рыдыркылар акәын. Ашықәс хыркәшахеит аҩадаа Чаттануга ақалақь аҟны иргаз аиааира ала.

Аиҭалхра, аибашьра анҵәамҭа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: ЕАА рҟны Ахада иалхрақәа (1864)

Аибашьра ахыркәшара аидеиа ажәлар еиҳа-еиҳа ирылаҵәон. Линкольн иҿаԥхьа дҵас иқәгылан америкаа аиааира агәрагара рылаҵара. Аҳәынҭқарра Ахада иҭаркыз аӡбарҭахь рышьҭра аԥихит, уи адезертирцәеи атәреи аҭынчреи рыдгылаҩцәеи рҭакра алнаршеит. 1863 шықәсазтәи Аконгрессахь алхрақәа раан адемократцәа ирылшеит аҭыԥқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟаз аиԥшымзаара ду армаҷра, аха ареспубликанеццәа уеизгьы ирылшеит Асенати Ахаҭарнакцәа Рпалатеи рҿы аиҳарара ахьчара.

Авраам Линкольн ажьырныҳәамза 8, 1864 шықәсазы

1864 ашықәса хәажәкырамзазы Линкольн Улисс Грант дҵаҟаҵаҩ хадас дҟеиҵеит, уи У. Шермани Ф. Шеридани дрыцны Линкольн игәҭакы нарыгӡеит — еиқәыршәоу ажәыларақәа ҟаҵаны аладаа рырԥсыҽра, рҟәыбара иазкыз. Ааха ду ҟазҵаз Шерман ир ауп, лаҵарамзазы Џьорџьиа алалара иалагаз. Грант ир аинрал Ли иҿагылан.

Аҭынчрахьчаҩцәа, Џьорџь Хили иҭыхымҭа, хәажәкырамза 27-28, 1865 шықәсазы Авраам Линкольн, аинралцәа Уилиам Шерман, Улисс Грант, адмирал Девид Портер, пароходе «Королева реки» Джеймс аӡиас аҟны реилатәара аазырԥшуа

Иара ихатә гәыҩбарақәеи апартиа анапхгаҩцәа рҿагылареи рышьҭахьгьы, Линкольн аҩынтәраангьы алхрақәа иҽрылаирхәит, аҵыхәтәантәи аԥшьышықәса ирылагӡаны аӷацәа рацәаны ишиоузгьы, агазеҭқәа лассы-лассы ишиқәыӡбозгьы, жәпаҩык дшырцәымӷызгьы. Адемократиатә партиа хатә лозунгс ишьҭнахит аибашьра аҵыхәтәеи аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгареи. Уи акандидатс дҟалеит аинрал Џь.Б.Макклелан, Линкольн 1862 шықәсазы адҵаҟаҵаҩ хада имаҵзура иамихыз. Ареспубликатә партиаҿы, афинансқәа рминистр Салмон Чеиз акандидатцәа дыруаӡәкхарц иҽазишәеит, аха Линкольн заҵәык иакәхеит иқәыргылахаз. Шерман цәыббрамза 2, 1864 шықәсазы Аконфедерациа ачашәҭра Атланта анига, Линкольн алшара инаҭеит иҿагылаҩ, аҭынчра адгылаҩ — Макклеллан — аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа рҿы дииааины, 233 алхыҩцәа рыбжьқәа рҟынтә 212 иоуны аиааира агаразы. Линкольн иҟаиҵаз аҳәарала, Аконгресс ажьырныҳәамза 31, 1865 шықәсазы Америка Аконституциа жәахатәи аиҭакра рыдыркылеит, атәыла аҩныҵҟа атәразы азин ҟазымҵоз. 1865 шықәса алагамҭазы аҩадаа риааира еилкааз усхеит. Аҩбатәи иинаугурациатә ажәахә аҿы Линкольн ашьоура мап ацәкразы ааԥхьара ҟаиҵеит, насгьы Алада аиҭашьақәыргылареи еинаалоу Аидгыла аргылареи рзы адҵақәа ықәиргылеит:

“Аӡәгьы игәаӷ мкыкәа, агәыҳалалра аарԥшны, аиашара иадгыланы, америкаа атәыла ахәрақәа ҿарҳәароуп... рыҩни адунеи ажәларқәа зегьы рахьи ииашоу, еиԥымҟьо аҭынчра аԥсахареи ахьчареи рзы ирылшо зегьы ҟарҵароуп.”

Грант, 1865 шықәса ааԥынразы 115 нызқьтәи ар змаз, 54 нызқьтәи мацара змаз Ли ақалақь Питерсберг, анаҩс мшаԥымза 2 рзы Аконфедерациа аҳҭнықалақь Ричмонд аанимыжьыр ада ԥсыхәа имамкәа иҟеиҵеит. 1865 шықәса мшаԥымза 9 рзы Ли аҽаҭара инапы аҵаиҩит, хазы игоу архәҭақәа рҿагылара хҽхеит лаҵарамза анҵәамҭазы. Џьефферсон Девиси иҳәынҭқарра алахәылацәеи анҭарк ашьҭахь Аконфедерациа аҵыхәтәа ҟалеит.[45]

Ихадароу астатиа: Авраам Линкольн ишьра
Форд итеатр аҿы Бут даниеихсуаз Линкольн дахьтәаз аҭыԥ
Алонзо Чаппел, “Авраам Линкольн иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи асааҭқәа”, 1868

Аграждантә еибашьра хыркәшахеит Америка Аконфедерациатә Штатқәа 1865 шықәса мшаԥымза 9 рзы рыҽрыҭарала. Атәыла Алада Аиҭашьақәыргылара насгьы ацәеиқәаҵәақәа америкатәи аилазаара раларҵәара апроцесс иахысраны иҟан. Аибашьра ашьҭахь хәымш анҵы, мшаԥымза 14, 1865 шықәсазы, “Америкатәи ҳара ҳашьа” аспектакль аҿы (Форд итеатр аҿы), аладаа ирыдгылаз актиор Џьон Уилкс Бут апрезидент дахьтәаз днеин атапанча аҟынтәи Линкольн ихы деихсит. Адырҩаҽныашьыжь, Авраам Линкольн ихдырра мхынҳәӡакәа иԥсҭазаара далҵит.

Милионҩыла америкауаа, ашкәакәақәеи аиқәаҵәақәеи, рыпрезидент ргәы далырхырц азы Вашингтонынтәи Спрингфилдҟа ҩымчыбжьи бжаки амҩа иқәыз алахьеиқәратә дәыӷба иаԥылон. Адәыӷба ҩ-кәыбак аанагон: Авраам Линкольн иԥсыбаҩ зҭаз акәыба ду, иара убас хышықәса раԥхьа Линкольн ипрезидентраан зыԥсҭазаара иалҵыз иԥа Уилиам иԥсыбаҩ зҭаз акәыба хәыҷы. Ари аамҭа иалагӡаны аҳәынҭқарра ахада иԥеи иареи рыԥсыбаҩ зҭаз адәыӷба ақалақьқәа 180 ирылсит. Авраами Уилиами Линкольнаа анышә иамардеит Спрингфилд, Оук-Риџь анышәынҭраҿы. 1876 шықәсазы апрезидент иԥсыбаҩ ыҵырхит 200 000 доллар ҳәа аҽыхразы. Аха амҵарсцәа аполициа иааныркылеит. Уи ашьҭахь Линкольн иԥсыбаҩ лассы-лассы афедералтә мчрақәа хьӡы змам еиуеиԥшым анышәынҭрақәа рҿы анышә иамардон. Аҵыхәтәан, 1901 шықәсазы, аҳәынҭқарра ахада иԥсыбаҩ аӷьычразы аҽазышәарақәа раԥыхразы, Линкольн иԥсыбаҩ аџыртә саркофаг иҭаҵаны Спрингфилд х-метрак ашәпара змаз абетон аҵаҟа иржит.[46][47][48]

Линкольн рыцҳарыла иҭахарагьы иабзоурахеит атәыла аизакреи зцәа еиқәаҵәоу атәцәа рхы рақәиҭтәреи рзы зыԥсы зҭииз уаҩны иԥхьаӡара иахьалагаз.

Авраам Линкольн ипрезидентра алҵшәақәеи уи иҭоурыхтә ҵаки

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аграждантә еибашьра Еиду Аштатқәа рҭоурых аҿы зегь реиҳа ашьакаҭәара зцыз еибашьрахеит, насгьы америкатәи адемократиазы зегь реиҳа иуадаҩыз ԥышәахеит. Авраам Линкольн америкатәи ажәлар рыхдырраҿы хадаратә ҭоурыхтә хаҿсахьаны дҟалеит, Еиду Аштатқәа реилабгара иаԥырхагахаз, америкатәи амилаҭ рышьақәгылареи атәра аԥыхреи аус арҿы алагала ду ҟазҵаз. Линкольн Аҩада амодернизациеи атәцәа рхы рхақәиҭреи ауасхыр шьҭеиҵеит. Уи иоуп адемократиа ахықәкы хада зҳәазгьы: “Ажәлар рыла, ажәлар рҟынтәи, ажәлар рзы иаԥҵоу аиҳабыра”. Иара ипрезидентразы, иара убас Аокеан ҭынчахь инеиуаз аконтинентбжьаратә еихамҩагьы дыргылеит, аинфраструктуратә система ырҭбаахеит, абанктә система ҿыц аԥҵахеит, иӡбахеит аграртә проблема. Аха аибашьра анеилга ашьҭахь, атәыла аҿаԥхьа ауадаҩрақәа рацәаны иқәгылан, амилаҭ реидкылара, аиқәаҵәақәеи ашкәакәақәеи рзинқәа реиҟаратәра уахь иналаҵаны. Хәҭак ала, арҭ апроблемақәа макьана инагӡаны иӡбам, урҭ иахьа уажәраанӡагьы америкатәи аилазаара аҿаԥхьа иқәгылоуп. Линкольн даныршь ашьҭахь, Еиду Аштатқәа рекономика акыр аамҭа адунеи аҿы зегь реиҳа динамикала аҿиара зауз економиканы иҟалеит, уи атәыла 20-тәи ашәышықәса алагамҭазы адунеи аҿы аԥхьагылара аиура алнаршеит. Иара ихатә цәаҩақәагьы инарыгӡаз аус рацәоуп аҳәынҭқарра амчра еидкыланы атәыла аизакразы. Линкольн аморалтә принцип ӷәӷәақәа дрықәныҟәон, алафҳәарагьы илан, аха уи адагьы алахьеиқәрагьы анииааиуаз ҟалалон. Иахьа уажәраанӡа Авраам Линкольн зегь реиҳа иҟәыӷаз Еиду Аштатқәа рыпрезидентцәа дыруаӡәкны дыԥхьаӡоуп. Америкатәи ажәлар жәафтәи рыпрезидент Авраам Линкольн игәалашәара аҳаҭыразы Вашингтон абаҟа издыргылеит, Еиду Америкатәи аштатқәа рҭоурыхтә ҿиара зыӡбаз ԥшьҩык апрезидентцәа руаӡәк иаҳасабала.[49][50][51][52][53]

Форд итеатр Линкольн дахьхәыз
Ихадароу астатиа: Линкольн ибаҟа

Линкольн игәалашәара наӡаӡатәуп Вашингтон агәаны, Еспланада 1914—1922 шықәсқәа рзы иргылаз амемориал аҟны, ауаа зегьы ахақәиҭра рымазар шакәу иазкыз апрезидент игәрагара аарԥшуа. Ахыбра Еиду Аштатқәа ирсимволуп, уи 36 колона аҵагылоуп (Линкольн ипрезидентраан иҟаз аштатқәа рхыԥхьаӡара). Амармалташь шкәакәала иҟаҵоу ари аргыламҭа аҩныҵҟа аскульптор Даниел Френч ихәыцуа итәоу апрезидент-ахақәиҭтәҩы ихаҿсахьа шьақәиргылеит. Амемориал аҩныҵҟатәи аҭӡамцқәа рҿы аллегориатә нҩыларақәа рыҵаҟа Линкольн иажәахәқәа: Геттисбергтәии Аҩбатәи иинаугурациатәи ануп.

Уи адагьы, Еиду Аштатқәа рҿы Линкольн иаҳаҭыр азы абаҟақәа рацәаны идыргылеит, ихьӡ рыхҵоуп ақалақь, амҩадуқәа, ауниверситетқәа, еиуеиԥшым ацентрқәа, еицырдыруа амашьынақәа, аҳаирпланныҟәгага. Аҳәынҭқарра ахада ихаҿсахьа Рашмор ашьхаҿы иҭаԥыҟҟоуп. Авраам Линкольн иира мшы Еиду Америкатәи аштатқәак рҟны ҳәынҭқарратә ныҳәоуп. Линкольн иара убас абанкнотаҿгьы исахьа ануп 5 долларк.

1849 шықәсазы А. Линкольн иоуит апатент 6469, иӡсо аӷбашьҭыхга аргыларазы. Иара ида Еиду Америкатәи аштатқәа рыпрезидентцәа аӡәгьы ахаангьы аԥшьгаразы апатент имоуцызт.[54][54]

  • 1908 — “Анажьра: Авраам Линкольн иԥсҭазаара аҟынтәи ацыԥҵәаха”, ЕАА, арежиссиор Ван Даик Брук. Линкольн ироль наигӡеит идырым актиор.
  • 1910 — “Авраам Линкольн ианажьра”, ЕАА, арежиссиор Теодор Уортон. Линкольн ироль наигӡеит Леопольд Уортон
  • 1913 — “Линкольн ахә анишәалак”, ЕАА, арежиссиор, Линкольн ироль анагӡаҩ Френсис Форд
  • 1913 — “Геттисбергтәи аибашьра”, ЕАА, арежиссиорцәа Чарльз Гиблин, Томас Инс. Линкольн ироль наигӡеит Чарльз Едлер.
  • 1914 — “Ицәоу ахьчаҩ”, ЕАА. Линкольн ироль наигӡеит Џьорџь Стил.
  • 1915 — "Амилаҭ аира", ЕАА, арежиссиор Девид Гриффит. Линкольн ироль наигӡеит Џьозеф Хенабери
  • 1915 — “Линкольн игәы”, ЕАА, арежиссиор, Линкольн ироль анагӡаҩ — Френсис Форд
  • 1916 — “Акризис”, ЕАА, арежиссиор Колин Кемпбелл. Линкольн ироль неигӡеит Сем Д. Дреин (акино америкатәи шәҟәыҩҩы Уинстон Черчилль ироман ашьаҭала иҭыхуп)
  • 1920 — “Копперхедс”, ЕАА, арежиссиор Чарльз Мение. Линкольн ироль наигӡеит Николас Шриоль (Акино шьаҭас иамоуп аполитик, ашәҟәыҩҩы Фредерик Лендис ироман “Аԥсадгьыл гәакьа ахьӡ-аԥша”)
  • 1922 — “Буффало Билл имшқәа рзы” (ателесериал), ЕАА, арежиссиор Едвард Леммле. Линкольн ироль аҟны — Џьоел Деи
  • 1923 — “Линкольн игәы”, ЕАА, арежиссиор, Линкольн ироль анагӡаҩ — Френсис Форд. 1915 шықәсазтәи акиносахьа аиҭаҭыжьратә версиа.
  • 1924 — “Авраам Линкольн идраматә ԥсҭазаара”, ЕАА, арежиссиор Фил Розен. Линкольн ироль наигӡоит Џьорџ А. Биллингс.
  • 1924 — “Авраам Линкольн”, ЕАА, арежиссиор Џьеимс Сирл-Доули. Франк Макглинн аиҳабы Линкольн ироль наигӡоит. Акиносахьа шьаҭас иамоуп адраматург Џьон Дринкуотер ипиеса
  • 1924 — “Железный конь”, ЕАА, арежиссиор Џьон Форд. Линкольн ироль аҟны Чарльз Едвард Булл
  • 1924 — “Барбара Фричи”, ЕАА, арежиссиор Ламберт Хиллиер. Линкольн ироль наигӡоит Џьорџь А. Биллингс.
  • 1925 — “Тәыла змам ауаҩы”, ЕАА, арежиссиор Роуленд Ли. Линкольн ироль наигӡоит Џьорџь А. Биллингс.
  • 1926 — “Унапқәа урҩах!”, ЕАА, арежиссиор Кларенс Баџьер. Джорџ А. Биллингс Линкольн ироль наигӡоит.
  • 1929 — “Линкольн”, ЕАА, арежиссиор Терри Ремзи. Линкольн ироль наигӡоит Џьорџь А. Биллингс.
  • 1929 — “Два американца”, ЕАА, арежиссиор Џьозеф Сентли. Уолтер Хьиустон Линкольн ироль аҟны
  • 1930 — “Авраам Линкольн”, ЕАА, арежиссиор Девид Гриффит. Уолтер Хьустон Линкольн ироль наигӡоит.
  • 1932 — “Апрезидент-фантом”, ЕАА, арежиссиор Норман Таурог, Линкольн ироль наигӡоит Чарльз Миддлтон
  • 1935 — “Аҭыӡшәаҟаҵаҩ хәыҷы”, ЕАА, арежиссиор Девид Батлер. Франк Макглинн аиҳабы Линкольн ироль наигӡоит
  • 1936 — “Акулақәа рыдгьылбжьаха абаандаҩы”, ЕАА, арежиссиор Џьон Форд. Франк Макглинн аиҳабы Линкольн ироль наигӡоит
  • 1937 — “Викториа Дуӡӡа”, Еиду Британиа, арежиссиор Герберт Уилкокс. Линкольн ироль наигӡоит Перси Парсонс.
  • 1938 — “Ауаа рыгәқәа рҟынтәи”, ЕАА, арежиссиор Кларенс Браун. Линкольн ироль аҟны Џьон Керрадаин
  • 1939 — “Линкольн Аҩны шкәакәа аҿы”, ЕАА, арежиссиор Уилиам С. Макгенн. Франк Макглинн аиҳабы Линкольн ироль наигӡоит
  • 1939 — “Мистер Линкольн қәыԥш”, ЕАА, арежиссиор Џьон Форд. Генри Фонда Линкольн қәыԥш ироль аҟны
  • 1940 — "Еиб Линкольн, Иллиноис", ЕАА, арежиссиор Џьон Кромвелл. Линкольн ироль наигӡоит Реимонд Месси. Акино шьаҭас иамоуп Роберт Е. Шервуд ипьеса
  • 1940 — “Вирџьиниа Сити”, ЕАА, арежиссиор Маикл Куртис. Линкольн ироль наигӡоит Виктор Килиан
  • 1951 — “Ахықәкы ҳарак”, ЕАА, арежиссиор Ентони Манн. Линколин ироль наигӡоит Лесли Кимел (ихьӡ ҳәаӡам)
  • 1952 — “Авраам Линкольн”, ЕАА, арежиссиор Пол Никелл (ателесериал “Студиа 1” аепизод). Линкольн ироль аҟны — Роберт Пастен
  • 1955 — “Ахәмарҩцәа рыпринц”, ЕАА, арежиссиор Филипп Дан. Линкольн ироль аҟны — Стенли Холл
  • 1955 — “Ахәаша еиқәаҵәа”, ЕАА (“Медик” ателесериал аепизод). Остин Грин Линкольн ироль аҟны
  • 1956 — “Анԥса”, ЕАА (“Ателефонтә аамҭа” захьӡу ателесериал аепизод). Линкольн ироль наигӡеит Ронни Ли
  • 1957 — “Ауаатәыҩса рҭоурых”, ЕАА. Арежиссиор Ирвин Аллен. Остин Грин Линкольн ироль аҟны
  • 1961 — “Амҩасцәа”, ЕАА. Арежиссиор Елиот Сильверстаин (ателесериал "Аилашәшәымҭа" 69-тәи аепизод. Линкольн ироль наигӡоит Остин Грин
  • 1962 — “Мраҭашәара шырҭаслымыз”, ЕАА, “Аграждантә еибашьра” асиужет. Арежиссиор Џьон Форд. Линкольн ироль аҟны — Реимонд Месси
  • 1965 — “Ашьҭалара”, Британиа Ду, арежиссиор Ричард Мартин (ателесериал “Доктор Дарбан” жәафтәи асериа. Роберт Марсден Линкольн ироль наигӡоит
  • 1966 — “Аԥсра ацәҟьа”, ЕАА, арежиссиор Уилиам Хеил (“Аамҭа атоннель” ателесериал жәаҩатәи аепизод. Форд Реини Линкольн ироль наигӡоит
  • 1969 — "Абна ԥарда", ЕАА. Арежиссиор дыҟан Хершель Догерти (ателесериал "Аеҵәатә мҩа: Аоригиналтә сериал" аепизод). Линкольн иклон ароль неигӡеит Ли Бергер
  • 1972 — "Ауаҩ ду иԥаҵақәа", ЕАА, арежиссиор Филипп Ликок. Деннис Уивер Линкольн ироль наигӡоит.
  • 1976 — "Абнатә ԥсабара ахьчаҩ", ЕАА, арежиссиор Девид Д. О'Мелли. Линкольн ироль наигӡоит Форд Реини
  • 1976 — “Адамс ихроникақәа” (телесериал), ЕАА. Линкольн ироль аҟны Стивен Д. Ниуман (Аепизод 11, "Чарльз Франсис Адамс, Британиа Ду ацҳаражәҳәаҩ")
  • 1977 — “Линкольн иҿагыланы ачарҳәара”, ЕАА, арежиссиор Џьеимс Л. Конвеи. Джон Андерсен Линкольн ироль аҟны
  • 1982 — “Жәҩангәыԥштәқәеи ацәышқәеи” (телесериал), ЕАА, арежиссиор Эндриу У. Маклаглен. Грегори Пек Линкольн ироль аҟны
  • 1985, 1986 — “Агеи Ашьхеи” (телесериал), Америкатәи Аидгыла, режиссер Ричард Т. Хеффрон. Линкольн ироль наигӡоит Хал Холбрук.
  • 1986 — “Мраҭашәараҟа амҩа” (ателесериал), ЕАА, арежиссиор Дик Лоури. Линкольн ироль наигӡоит Ф. Миурреи Абраҳам.
  • 1988 — “Линкольн” (ателесериал), ЕАА, арежиссиор Ламонт Џьонсон. Линкольн ироль неигӡоит Сем Уотерстон (Гор Видал ироман шьаҭас иҟаҵаны)
  • 1989 — “Билли Теди рныҟәарақәа”, ЕАА, арежиссиор Стивен Херек. Линкольн ироль наигӡоит Роберт Беррон.
  • 1990 — “Аграждантә еибашьра”, асериал маҷ, ЕАА, арежиссиор Кен Биорнс. Линкольн ироль наигӡоит Сам Уотерстон
  • 1991 — “Аилабгара”, Британиа Ду, арежиссиор Ед Баи (асериал “Аҵан ҟаԥшь” ҩажәи ԥшьбатәи аепизод). Џьек Клефф Линкольн ироль наигӡоит
  • 2012 — “Линкольн”, ЕАА, арежиссиор Стивен Спилберг. Линкольн ироль наигӡоит Даниел Деи-Лиуис.
  1. Штудинер М. А. Словарь трудностей русского языка для работников СМИ. Ударение, произношение, грамматические формы. — М.: «Словари XXI века», 2017. — 592 с. — ISBN 978-5-9909262-6-4.
  2. ЛИ́НКОЛЬН : [арх. 3 ажьырныҳәамза 2023] / Исэров А. А. // Большая российская энциклопедия [Электронный ресурс]. — 2020.
  3. Карл Сэндберг, 1961, ад. 243.
  4. Карл Сэндберг, 1961, ад. 289.
  5. Дейл Карнеги. т. 1, стр. 230, из-во «Новый Мир», М., 1983.
  6. 6,0 6,1 Бурова И. И., Силинский С. В. Соединенные Штаты Америки. — СПб.: Лениздат, 2002. — 399 с. — ISBN 5-289-02004-7. — [Архивировано 27 ԥхынгәымза 2018 года.]
  7. "Американцы определили наилучшего президента США (Величайшим президентом за всю историю США их жители считают Авраама Линкольна, который уничтожил рабовладение и победил в Гражданской войне)". for-ua.com (аурыс бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2018-07-27 ахь. Ириашоу 2018-07-26 шықәсазы.
  8. Donald, 1996, ад. 20—22.
  9. Pessen, 1984, ад. 24—25.
  10. White, 2009, ад. 12—13.
  11. Donald, 1996, ад. 22—24.
  12. Pessen, 1984, ад. 24—25.
  13. Lamb, 2008, ад. 189.
  14. Sandburg, 1926, ад. 20.
  15. Sandburg, 1926, ад. 20.
  16. Donald, 1996, ад. 30—33.
  17. Donald, 1996, ад. 20.
  18. Donald, 1996, ад. 26—27.
  19. White, 2009, ад. 25,31,47.
  20. Donald, 1996, ад. 33.
  21. Donald, 1996, ад. 30—33.
  22. Donald, 1996, ад. 29—43.
  23. Карл Сэндберг, 1961, ад. 15.
  24. Карл Сэндберг, 1961, ад. 15.
  25. Donald, 1996, ад. 29—43.
  26. Карл Сэндберг, 1961, ад. 16.
  27. Сэндберг К. Линкольн / Карл Сэндберг; сокр. пер. с англ. Б. Грибанова и Л. Шеффера. — Москва : Молодая гвардия, 1961. — 700 с стр. 23
  28. Сэндберг К. Линкольн / Карл Сэндберг; сокр. пер. с англ. Б. Грибанова и Л. Шеффера. — Москва : Молодая гвардия, 1961. — 700 с стр. 28-29
  29. Сэндберг К. Линкольн / Карл Сэндберг; сокр. пер. с англ. Б. Грибанова и Л. Шеффера. — Москва : Молодая гвардия, 1961. — 700 с, стр. 30
  30. White Jr., Ronald C. A. Lincoln: A Biography (англ.). — New York: Random House, Inc., 2009. — 181 p. — ISBN 978-1-4000-6499-1.
  31. Cathy Young «Co-opting Lincoln’s sexuality» Boston Globe Jan 31, 2005
  32. A Review by Gregory M. Lamb at www.powells.com Архив ҟаҵан 2007-01-08 азы Wayback Machine аҟны. of «We Are Lincoln Men»: Abraham Lincoln and His Friends D. H. Donald
  33. Richard Brookhiser Was Lincoln Gay? Архив ҟаҵан 2017-08-18 азы Wayback Machine аҟны. New York Times Jan 9, 2005
  34. Michael Burlingame Afterword: The Intimate World of Abraham Lincoln pg 226—238 Free Press 2005 ISBN 0-7432-6639-0
  35. Сэндберг К. Линкольн / Карл Сэндберг; сокр. пер. с англ. Б. Грибанова и Л. Шеффера. — Москва : Молодая гвардия, 1961. — 700 с, с.83
  36. Данные взяты из статьи об Аврааме Линкольне в англоязычной википедии.
  37. "Abraham Lincoln — The Writings of Abraham Lincoln V04" (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 2014-09-09 ахь. Ириашоу 2024-09-08 шықәсазы.
  38. "Первая инаугурационная речь Линкольна на сайте «История США в документах»" (аурыс бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 2007-07-06 ахь. Ириашоу 2024-09-08 шықәсазы.
  39. Это произошло до инаугурации Линкольна, во время президентства Джеймса Бьюкенена
  40. Сэндберг К. Линкольн / Карл Сэндберг; сокр. пер. с англ. Б. Грибанова и Л. Шеффера. — Москва : Молодая гвардия, 1961. — 700 с, стр.211.
  41. Иванов Александр. "Джесси Х. Баннел (Jesse H. Bunnell)". telhistory.ru (аурыс бызшәала). Музей Истории Телефона. Иархивтәоу аоригиналзы 2022-01-28 ахь. Ириашоу 2024-09-08 шықәсазы.
  42. Bates, David Homer. Lincoln in the Telegraph Office: Recollections of the United States Military Telegraph Corps During Civil War. (англ.). — New York: The Century Co, 1907.
  43. Биография Авраама Линкольна на сайте «Хронос»
  44. "Геттисбергская речь Авраама Линкольна" (аурыс бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 2007-10-16 ахь. Ириашоу 2024-09-08 шықәсазы.
  45. После взятия Линкольн посетил город, в том числе и Белый дом Конфедерации, где он посидел несколько минут в задумчивости за рабочим столом Джефферсона Дэвиса
  46. "William Wallace «Willie» Lincoln" (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 2012-01-18 ахь. Ириашоу 2024-09-09 шықәсазы.
  47. "Digging Up the Dead: History's Most Famous Exhumations" (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 2024-05-12 ахь. Ириашоу 2024-05-12 шықәсазы.
  48. "Famous People Who Have Been Exhumed — And What Their Bodies Revealed" (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 2024-05-12 ахь. Ириашоу 2024-05-12 шықәсазы.
  49. "Авраам ЛИНКОЛЬН. Честный, добрый и упрямый «старина Эйб»". day.kyiv.ua (аурыс бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 2008-01-16 ахь. Ириашоу 2024-09-08 шықәсазы.
  50. Авраам Линкольн: «Я самый жалкий из всех живущих. Если то, что я чувствую, разделить на весь род человеческий, на земле не останется ни одной улыбки. Стану ли я лучше — не знаю. Боюсь, что нет, и это ужасно. Оставаться таким, как есть, невозможно. Я должен умереть или стать лучше…» Высказывание есть на этом сайте Архив ҟаҵан 2008-07-25 азы Wayback Machine аҟны.
  51. Г.Уитни: «Ни одна черта характера мистера Линкольна не была столь очевидной, как его таинственная и глубокая меланхолия»
  52. Сэндберг К. Линкольн / Карл Сэндберг; сокр. пер. с англ. Б. Грибанова и Л. Шеффера. — Москва : Молодая гвардия, 1961. — 700 с, стр.94 Джон Т.Стюарт видел в Линкольне безнадёжную жертву меланхолии. Генри К.Уитни, коллега Линкольна, писал: «Я… увидел Линкольна в углу, он сидел одиноко. Его лицо омрачалось глубокими горестными переживаниями».
  53. Имеются в виду Джордж Вашингтон, Томас Джефферсон, Авраам Линкольн, Франклин Рузвельт
  54. 54,0 54,1 Стрела времени. Научный календарь, май 2020 Архив ҟаҵан 2021-06-24 азы Wayback Machine аҟны. ng.ru