Лашәриа, Мушьни Таииа-иԥа
| Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа | |
|---|---|
| Мушни Таевич Ласуриа | |
|
Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа | |
| Аира |
ажьырныҳәамза 16, 1938 ш. Кәтол ақыҭа, Очамчыра араион, Аԥснытәи АССР |
| Аԥсра | цәыббрамза 26, 2024 ш. |
| Аусура | 26 |
| Атәылауаҩра |
Асовет Еидгыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра |
| Ажанр | роман в стихах |
| Анашьамҭақәа |
орден «Честь и слава», орден «Знак Почёта», медаль Пушкина |
Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа (аур. Мушни Таевич Ласуриа; ажьырныҳәамза 16, 1938 ш., Аԥсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа – цәыббрамза 26, 2024 ш.) – апоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, акритик. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат (1974), Аԥсны жәлар рпоет (2009), Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик. Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы (2015). Ианашьоуп Ш. Русҭавели ихьӡ зху Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә премиа (Ш. Русҭавели иҩымҭа «Абжьас-цәа зшәу» аиҭагазы), Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа (2004, «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» аиқәыршәаразы), А. Дельвиг ихьӡ зху Урыстәылатәи апремиа (2015), иара убас аорденқәа: «Аҳаҭыр Дырга» (СССР, 1986), «Ахьӡ-Аԥша» I, II, III аҩаӡарақәа. СССР-и, Урыстәылеи, Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа, ашьҭахь Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа (2003) рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәала.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҵара иҵон Кәтолтәи 8-шықәсатәи ашкол аҟны, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә ҵараиурҭаҿы (1953-1957), А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аԥсуа ҟәша аҟны (1957-1960), Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт (1960-1965), иара убас СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа А. М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аспирантураҿы (1970-1974).
1965-1967 шш. раан агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» алитературатә усзуҩыс дыҟан, 1967-1970 шш. рзы ажурнал «Алашара» апоезиеи, акритикеи, апублицистикеи рыҟәша деиҳабын. 1974 ш. СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Адунеитә литература аинститут аҟны ихьчоит акандидаттә диссертациа, хьӡысгьы иаман «И. А. Коӷониа ирҿиареи аԥсуа советтә поезиаҿы аетикатә жанрқәа рырҿиареи», хазы шәҟәны егьҭыжьын Аҟәа 1979 шықәсазы. 1974 ш. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аԥснытәи ринститут ҭҵаарадырратә усзуҩын, 1974-1978 шш. раан ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредактор хадас дыҟан, 1979-1986 шш. рзы – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Аусбарҭа ахантәаҩыс, 1978 ш. инаркны - абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Аԥснытәи ринститут аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс. 1988 ш. нахыс ари аинститут (уажәы – Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵаара аинститут) алитература аҟәша деиҳабуп. 2003 ш. инаркны 2024 ш. сентиабр 26 рзынӡа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩыс дыҟан, 2003 ш. инаркны иҭыҵуа алитература-уаажәларратә газеҭ «Еҵәаџьаа», иара убас ажурнал «Аҟәа-Сухум» аредакторцәа дыруаӡәкын.
1994-1996 шш. рзы М. Лашәриа инапхгарала Аԥсуа телехәаԥшрала идырбан «Аԥсуа поезиа адаҟьақәа» асериа еиднакылоз адырраҭарақәа. Урҭ рҟны ицәырган Д. И. Гәлиа, Г. М. Чачба, С. И. Ҷанба, И. А. Коӷониа, М. А. Лакрба, О. Б. Беигәаа, Л. Б. Кәыҵниа, А. Е. Лашәриа, А. Н. Џьонуа, Ш. Л. Ҵәыџьба, Кь. Ш. Чачхалиа, В. П. Анқәаб, И. К. Ҭарба уҳәа егьырҭгьы рырҿиара.
Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 12-13 шықәса анихыҵуаз.
Апоет ишьақәгылараҿы акырӡа абзоуроуп Д. И. Гәлиа, И. А. Коӷониа, Б. У. Шьынқәба уҳәа рпоезиа. 1955 ш. иҭыҵыз ажурнал «Алашара» аҩбатәи аномер ианылеит раԥхьатәи иажәеинраалақәа ируаку «Ҽынлеиԥш илашан».
Иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа «Амцабз», «Аҟәа-Сухум», «Юность», «Абаза», агазеҭқәа «Аԥсны ҟаԥшь», «Аԥсны», «Советская Абхазия», «Литературная газета», «Еҵәаџьаа» уҳәа егьырҭгьы. М. Лашәриа ипоетикатә ҩымҭақәеи иеиҭагамҭақәеи жәпакы агәылалеит «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» аҩбатәи атом (Аҟәа-Москва, 2001; ихарҭәааны шәҟәыкны аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009), ихаҭа уи аиқәыршәаҩыс даман.
М. Лашәриа ипоетикатә ҩымҭақәа реизгақәеи ажәеинраалала иҩу ароман «Аџьынџьи» еидызкыло ашәҟәқәа 20 инареиҳаны иҭыҵхьеит.
Деицырдыруеит иара убас еиҭагаҩны. Аԥсшәахь еиҭеигеит А. С. Пушкин ироман «Евгени Онегин», М. И. Лермонтов ипоемақәа «Мцыри», «Демон», Ш. Русҭавели – «Абжьас-цәа зшәу», Џь. Баирон («Шилонтәи атҟәа»), Г. Лонгфелло («Гаиавата изку ашәа»), Ш. Петефи («Ԥхьаҟа, Мадиараа», «Жәлар рашәа»), абашкирцәа репос «Урал-Баҭыр» уҳәа егьырҭгьы.
М. Лашәриа аԥсуа литератураҭҵаареи акритикеи рҟны илагала шьахә ыҟоуп. Авторс дрымоуп аԥсуа литература аҭоурых апроблемақәа ирызку астатиақәа жәпаки, ашәҟәқәеи иара убас Д. И. Гәлиа, И. А. Коӷониа, Б. У. Шьынқәба, Ш. Л. Ҵәыџьба, Қь. Ҟ. Агәмаа, М. А. Лакрба, Кь. Ш. Чачхалиа, А. Н. Гогәуа, Ш. Е. Ҷкадуа, А. Н. Џьонуа, И. К. Ҭарба, М. И. Миқаиа, Ф. А. Искандер уҳәа егьырҭгьы рырҿиара, дазааҭгылахьан.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- аԥсышәала: Игарҵыз ажәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа,1963.
- Агәыӷрақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа,1965.
- Абырфын ҩны. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1967.
- Аӡы аҳра. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1970.
- Арҩашқәа рышьыжь. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1973.
- Ажәлаҟьаҩ. Алирика. Аҟәа, 1976.
- Ахьтәы уасцәа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1981.
- Иалкаау. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1987.
- Уахынлатәи ахәыцрақәа. Аҟәа, 2000.
- Аџьынџь. Иажәеинраалоу ароман. Аҟәа, 2010.
- Ашьха қыҭа, Бзыԥҭа ақыҭа. Абзиабаратә лирика.1966–2010. Аҟәа, 2010.
- Аҵеи уахь. Ажәеинраалақәа. Аҟәа–Москва, 2011.
- Иҩымҭақәеи иеиҭагамҭақәеи реизга. Хә-томкны. Аҟәа, 2013-2015.
- Ашаеҵәа. Апоема. Аҟәа, 2018.
- аурысшәахь аиҭагақәа: Смерть камня. Стихи. М., 1971.
- Форель и соловей. Стихи. М., 2008.
- Золотое руно. Поэма. Сухум–Москва, 2014.
- Отчизна. Роман в стихах. Сухум-Москва, 2018.
- Звезда рассвета. Поэма. Сухум-Москва, 2019.
- алитература иазку ашәҟәқәа: Ажәа аҳәаақәа. Алитературатә-критикатә статиақәа. Аҟәа, 1973.
- Ҳазлиааз. Алитература-критикатә статиақәа. Аҟәа, 1985.
- Абаҩхатәра лыԥшаахқәа. Таиф Аџьба Рушьбеи Смыр рыԥсҭазааратә, рырҿиаратә мҩа. Аҟәа, 2019.
Иеиҭагақә
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Михаил Лермонтов. Мцири. Апоема. Ажурнал «Алашара», 1964; 5 (хаз шәҟәны - 1967 шықәсазы).
- Александр Пушкин. Евгени Онегин. Иажәеинраалоу ароман. Актәи ахы. Ажурнал «Алашара», 1963; 3 (хаз шәҟәны актәи атыжьра - 1969 шықәсазы, аҩбатәи - 1979 шықәсазы).
- Шоҭа Русҭавели. Абжьас-цәа зшәу. апоема. Ацыԥҵәаха. Ажурнал «Алашара», 1972; 10/хаз шәҟәны - 1978 шықәса/.
- Џьорџь Баирон. Шилонтәи атҟәа. Апоема. Ажурнал «Алашара», 1976; 5 /хаз шәҟәны - 1978 шықәсазы/.
- Михаил Лермонтов. Аԥсыҳарам. Апоема. Ажурнал «Алашара», 1984; 6 /аизга «Абиԥарақәа рашәаҿ»/.
- Абиԥарақәа рашәа. Аиҭагақәа реизга. Аҟәа, 1984 шықәса.
- Генри Лонгфелло. Гаиавата изы ашәа. Апоема. Ацыԥҵәахақәа.
Ажурнал «Алашара», 1988; 8, 9, 10 /апоема нагзаны сиҭагоуп, хаз шәҟәны иҭыжьым/.
- Шандор Петефи /Петиофи/. Иалкаау. Иеитаргеит Б. Шьынқәба,
Мушьни Лашәриа. Аҟәа, 1995 шықәса.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 924-925