Перейти к содержанию

Лакоба, Станислав Зосим-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Станислав Зосим-иԥа Лакоба
Станислав Зосимович Лакоба

Станислав Зосим-иԥа Лакоба
Аира жәабранмза 23, 1953 ш.
Аҟәа ақалақь, Аԥснытәи АССР, СССР
Аԥсра цәыббрамза 20, 2025 ш.
Гәдоуҭа
Аԥсра зыхҟьаз автокатастрофа
Аусура аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы-кавказҭҵааҩ, ашәҟәыҩҩы, аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩы
Абызшәақәа аурыс бызшәа
Атәылауаҩра Аԥсны Аҳәынҭқарра,
Қырҭтәыла
Алма-матер Абхазский государственный университет

Станислав Зосим-иԥа Лакоба (аур. Станислав Зосимович Лакоба; жәабранмза 23, 1953 ш. Аҟәа ақалақь – цәыббрамза 20, 2025 ш.) — аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы-кавказҭҵааҩ, ашәҟәыҩҩы, аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩы. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет археологиеи, аҭоурыхи, аетнологиеи ркафедра апрофессор (2000). Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1997), Д.И.Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (1992).

Аҵара иҵон Аҟәатәи 14-тәи, 19-тәи абжьаратә школқәа рҟны. А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит (1976). Аус иуан агазеҭ «Советская Абхазия» акорреспондентс (1976-1978), Аԥсны аҭоурыхтәи акультуратәи баҟақәа рыхьчара Агәыԥ аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩс. 1980 ш. раахыс аус иуеит Д.И.Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (уажәы Аԥсуаҭҵаара аинститут) аҭҵаарадырратә усзуҩыс, 1989ш. инаркны аҭоурых аҟәша аиҳабыс. 1992-1993 шш. раан Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс дыҟан, 1993-1994 шш. рзы – Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс, 1994-1996 шш. раан – Аԥсны Апарламент Аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩыс. Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара» далан. Қырҭтәылеи Аԥсни реибашьратә еимакы аҭнышәныртәаларазы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахылаԥшрала, Урыстәыла абжьаҟазарала имҩаԥысуаз Женеватәи апроцесс далахәын. 1996 ш. инаркны аофициалтә политика далахәымызт. 1999 ш октиабр мзазы «Выборы по Хичкоку» зыхьӡу истатиаҿы альтернатива змам алхрақәа дырҿагыланы дықәгылеит.

2000-2004 шш. раан инаԥхьаз апрофессорк иаҳасабала аҭҵаарадырратә усура инапы алакын Иапониа, Хоккаидо ақалақь аҟны иҟоу ауниверситет аславиантә ҭҵаарақәа рцентр аҟны. 2004 ш. август - сентиабр мзақәа рзы Аԥсны (Ахадарахь акандидат С.В. Багаԥшь дицны) Ахада ихаҭыԥуаҩрахь кандидатс дықәгылан. 2005-2009 шш., насгьы 2011-2013 шш. раан Аԥсны ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан.

Жәаба инареиҳаны амонографиақәеи астатиақәа реизгақәеи ҭижьхьеит. Урҭ XӀX-XX ашәышықәсақәа раан аԥсуаа рҭоурыхи ркультуреи, Ашьхаруатә Республикеи, аурыс-аԥсуа культуратәи алитературатәи еимадарақәа ирызкуп. Аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩцәа рахьтә аԥсуа аҳра Урыстәылатәи аимпериа алалара даҽа концепциак ала ирыдызгалоз раԥхьатәи аҵарауаа дыруаӡәкуп. Ибжьажьауа агәаанагара шьақәиргылеит (В.Стражев ишьҭахь) аҭҵаарадырраҿы Аԥсҳа Қьалашьбеи Чачба иԥа Асланбеи дишьит ҳәа ишьақәгылахьоу. Иҽазишәеит 1917-1921 шш. раантәи Аԥсны аҭоурых обиективла аҩра. Егьырҭ аԥсуа ҵарауаа дрылахәны Аԥсны аҭоурых еицазкыз аӡәырҩы ҿаԥиҽуан. Аусумҭақәа жәпакы рзикит Кавказтәи аконфедерациа аҭоурыхи апроблемақәеи, XX ашә. азы Қарҭтәыла имҩамнагоз ампыҵахаларатәи ассимилициатәи политикеи аарԥшра.

С.Лакоба авторс дрымоуп иара убас прозала иҩу ажәеинраалақәа, ажәабжьқәа. Иҩымҭақәа рнылахьеит агазеҭ «Советская Абхазия», ажурнал «Литературная Кабардино-Балкария», ашәҟәы «Абхазские сказки и легенды» (М., 1994) уҳәа егьырҭгьы.

  • урысшәала: художественные книги: Весна на траве. Стихи. Сухуми, 1981.
  • Опрокинутое. Стихи. Сухуми, 1985, Избранное. Сухум, 2011.
  • исследования: Боевики Абхазии в революции 1905–1907 годов. Сухуми, 1984.
  • «Крылились дни в Сухум-Кале…»: Историко-культурные очерки. Сухуми, 1988.
  • Абхазия в годы первой российской революции. Тбилиси, 1985.
  • Очерки политической истории Абхазии. Сухуми, 1990.
  • Столетняя война Грузии против Абхазии. Гагра, 1993.
  • Абхазия. После двух оккупаций. Гагра, 1994.
  • Тайна «Зеленой папки». Сухум, 1995.
  • Асланбей. (К вопросу о политическом противоборстве в Абхазии в первой трети XIX столетия). Сухум, 1999.
  • Абхазия — de-fakto или Грузия de-iure? (О политике России в Абхазии в постсоветский период. 1991–2000 гг.). Sapporo: Slavic Research Center, Hokkaido University, 2001.
  • Абхазия после двух империй XIX–XXI вв. (Slavic Eurasian Studies, № 5). М.: Sapporo: Slavic Recearch Center, Hokkaido University, 2004.
  • История Абхазии. Сухум, 2006, 2007 (соавтор).
  • Крылились дни в Сухум-Кале… Сухуми, 1988 (2-е издание: Сухум, 2011).