Перейти к содержанию

Лакербаи, Иури Асҭамыр-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Иури Асҭамыр-иԥа Лакербаи
Юрий Астамурович Лакербай

Иури Асҭамыр-иԥа Лакербаи
Аира рашәарамза 241934 ш.
Урыстәыла, Иваново ақалақь
Аԥсра 2004
Аусура аԥсуа, аурыс поет, акиносценарист, аиҭагаҩ, апублицист
Абызшәақәа аурыс бызшәа
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла,
Аԥсны Аҳәынҭқарра
Анашьамҭақәа Государственная премия имени Д. И. Гулиа

Иури Асҭамыр-иԥа Лакербаи (аур. Юрий Астамурович Лакербай; рашәарамза 241934 ш., Урыстәыла, Иваново ақалақь – 2004) – аԥсуа, аурыс поет, акиносценарист, аиҭагаҩ, апублицист. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла (1963), Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, ашьҭахь – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа (2003) рлахәыла. Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан (2004, ишәҟәы «Иалкаау. Ажәеинраалақәа» рзы. М., 2000). Дыҩуан урысшәала.

Ихәыҷреи иқәыԥшреи ихигеит Аԥсны. 1945–1948 шш. раан Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол дҭан. Абжьаратә ҵара хиркәшеит Иваново. Иҭаацәа уахь ииасит ауаа андырӡуаз аамҭа цәгьақәа ирыхҟьаны. 1956 ш. иҭаацәа Аԥсныҟа ихынҳәит. Абаҩрҵәыра Минсктәи аинститут далгеит (1962), иара убас Москва, СССР Аҳәынҭкино иатәыз асценаристцәеи арежиссиорцәеи Иреиҳау ркурсқәа дрылгеит (1967). Иреиҳау аҵараиурҭа данҭаз афехтование азы аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ иоуит (1959), насгьы Белоруссиатәи ССР ажәларқәа Рспартакиада дачемпионхеит, дрылахәын егьырҭ аицлабрақәагьы.

1990–1992 шықәсқәа раан ажурнал «Литературная Абхазия» (Аҟәа) аредактор хадас дыҟан. Аус иуан агазеҭ «Советская Россия» (Москва) аредакциа акорреспондентс, уаҟа икьыԥхьуан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазкыз аматериалқәа. Апоет диеиуан ажәыларқәа ахьымҩаԥысуаз аҭыԥқәа рҟны.

И.Лакербаи иажәеинраалақәа рнылон ажурналқәа: «Юность», «Алашара», «Черкесский мир», «Аҟәа-Сухум», агазеҭқәа «Литературная газета», «Советская Россия», «Советская Абхазия», «Абхазия» уҳәа егьырҭгьы. Ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, аиҭагақәеи, иара убас астатиақәеи, аочеркқәеи, арепортажқәеи реизгақәа жәпакы дравторуп.

И.Лакербаи исценариақәа рыла иҭыхуп афильмқәа хәба: «Сотвори бой» (1967 «Белорусьфильм»), «Могила льва» (1970, Белорусьфильм», «Рыцарь из Княж-городка», (1976, «Ленфильм»; «Путь к медали» (ҩ-сериалк, 1980, «Мосфильми» иапониатәи акиностудиа «Тоеи» еицҭырхыз, «Свидетель» (1992, «Аԥсуафильми» А.П.Довженко ихьӡ зху Киевтәи акиностудиеи еицҭырхыз).

Аҵак ҷыда амоуп «Свидетель» (арежиссиор М. Мархолиа), избанзар ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны ҳазҭагылоу аамҭазынӡа зымҽхазкуа аҟны иаарԥшуп аԥсуа жәлар рфилософиеи, рҭоурыхи, ркультуреи.

И.Лакербаи илагала дууп аԥсуа литература аӡыргараҿы. Аурысшәахь еиҭеигеит Т.Аџьба, Р.Смыр, В.Анқәаб, Н.Ҭарба, Б.Гәыргәлиа, Кә.Герхелиа, П.Бебиа, Г.Аламиа ражәеинралақәа, А.Возба, Н.Кәыҵниа уҳәа рпрозатә ҩымҭақәа.

  • урысшәала: Эхо родных гор. Стихи. Минск, 1962.
  • На лезвии луча Стихи, Минск, 1964.
  • Камни абхазского поля. Стихи. (Перевод с русского на абхазский). Сухуми, 1966.
  • В сторону перевала. Стихи. Минск, 1968.
  • Лабиринт. Стихи. Минск, 1972.
  • Ловчая птица. Книга стихов. М., 1986.
  • Камни абхазского поля. Стихи и поэмы. Сухуми, 1987.
  • Соло для одной струны. Стихи и переводы. Сухуми, 1990.
  • Над заревым холмом. Книга стихов. М., 1995.
  • Избранное. Стихи. М., 2000.
  • Дорогой Леона (Абхазия. 1992–2003 гг.): Очерки, статьи, репортажи. Сухум, 2003.