Перейти к содержанию

Лагәлаа, Андреи Иаков-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Андреи Иаков-иԥа Лагәлаа
Андрей Яковлевич Лагвилава

Андреи Иаков-иԥа Лагәлаа
Аира абҵарамза 61917 ш.
Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Џьгьарда ақыҭа
Аԥсра жьҭаарамза 111994 ш.
Аусура аԥсуа шәҟәыҩҩы, адраматург

Андреи Иаков-иԥа Лагәлаа (аур. Андрей Яковлевич Лагвилава; абҵарамза 61917 ш., Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Кәыдрытәи аучастка (иахьатәи Очамчыра араион) Џьгьарда ақыҭа – жьҭаарамза 111994 ш.) – аԥсуа шәҟәыҩҩы, адраматург. СССР-и (1967) Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Дыҩуан аԥсышәала.

Ашкол даналга дҭалоит Краснодартәи амедицинатә институт. Аха аибашьра иҵара иаԥырхагахеит, егьаанижьуеит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын. Ианашьан аорденқәеи амедалқәеи. Аԥсныҟа дхынҳәит алеитенант еиҳабы ичын иманы.

А. Лагәлаа акыр шықәса аус иуан Аԥсны Аминистрцәа Рсовет аҟны референтс, атәанчара ашҟа диасит Аԥсны Аминистрцәа Рсовет аҟны иҟаз адинхаҵара аусқәа рзы анапынҵа ҷыдақәа шимаз.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) ибжьаӡит акьыԥхь зымбацыз инапҩымҭақәа, иаагозар, «Аҳратәра аан Кавказ ажәларқәа рнырҵәара» атемала ииҩыз атрилогиа. Убри акәын изызкыз С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ақәыргылаз иҭоурыхтә драма «Ашамҭаз».