Кәыҵниа, Сергеи Михаил-иԥа
Сергеи Михаил-иԥа Кәыҵниа (лаҵарамза 16, 1927 ш., Аҭара аҟыта Очамчыра араион — жьҭаарамза 24, 2018 ш.) — Аԥсны ажурналист.
Абиографиа[аредакциазура | акод аредакциазура]
Диит 1927 шыкәса лаҵарамза 16 рзы Аҭара аҟыта Очамчыра араион.
1947 шықәсазы далгоит Аҟәатән аҳәынҭқарратә педагогтә училишьче. 1948 шықәсазы дҭалоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт, ихиркәшоит 1952 шықәсазы.
1972-1992 шықәсқәа рзы агазет «Аԥсны Каԥшь» (нас «Аԥсны») даредактор хадоуп.
1972 шықәса раахыс Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аусбарҭа дахантәаҩуп.
Акьыԥхь аҿы дцәырҵхьеит апиесса кьаҿқәа равторк иаҳасабала.
Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]
- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 944-945
Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]
- Зантария о Сергее Квициния: возродил Союз журналистов Абхазии. Спутник Аԥсны. жьҭаарамза 24, 2018 ш.. Онлаин