Перейти к содержанию

Конфуци

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Конфуци
акит. 孔(夫)子
Аира ахьӡ Кун Циу (акит. 孔丘) *kʰloːŋʔ kʰʷɯ
Аира ҳ. ҟ. 551 шықәсазшәа
Циуифу
Аԥсра ҳ. ҟ. 479 шықәса (71—72 шықәса)
Циуифу
Атәыла Китаи
Ашкол/аҵас аконфуцианра ашьаҭаркҩы
Аинтерес хадақәа асоциалтә философиа,
аетика
Акыр зҵазкуа ахшыҩҵакқәа Аконфуцианра
Анырра зхызгаз мрагыларатәи афилософцәа аӡәырҩы,
Христиан фон Вольф,
Роберт Каммингс Невил
Конфуци (ашәҟәы "Китаи амифқәеи алегендақәеи" аҟынтәи асахьа - Е.Т.С. Вернер, 1922)

Конфуци (孔子, Kǒngzǐ, Кун-цзы; алаҭ. Confucius[1]; ахатәы хьӡқәа 孔丘 Кун Циу, насгьы 孔仲尼 Кун Чжунни[2], ҳ. ҟ. 551 шықәсазшәа, Циуифу азааигәара — ҳ. ҟ. 479 шықәса, Циуифу[3]) — Китаитәи ажәытә хәыцҩы, афилософ. Иара ирҵарақәа Китаии Мрагыларатәи Азиеи рыԥсҭазаара анырра ду анаҭеит, аконфуцианра ҳәа изышьҭоу афилософиатә система шьаҭас иазыҟаланы.

Конфуци раԥхьатәи ауниверситет ашьаҭа икит, еиуеиԥшым аҭауадрақәа рҿы еизгаз ашықәсынҵақәа системала еиҿикааит. Конфуци аҭауадцәа, ачынуаа, аибашьцәа, анхацәа рхымҩаԥгашьа аԥҟарақәа ирызку ирҵарақәа, Индиа иҟоу Будда ирҵарақәа реиԥш, Китаигьы ирылаҵәеит. Ихьӡҵәҟьа Кун Циу (孔丘, Kǒng Qiū) ауп, аха алитератураҿы лассы-лассы Кун-цзы, Кун Фу-цзы («арҵаҩы Кун»[4][5]), мамзаргьы Зи —«Арҵаҩы» ҳәа иаҳԥылоит. 20 шықәса маҷк данырҭыс иара деицырдыруа дҟалеит раԥхьаӡатәи азанааҭтә рҵаҩы иаҳасабала Ажҩанҵаҟа.

Алегизм аиааира агаанӡа Конфуци ишкол Шәы-школк ҳәа изышьҭаз аамҭазы, Еибашьуаз аҳрақәа ринтеллектуалтә ԥсҭазаараҿы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа иреиуан. Цин аилабгара ашьҭахь ауп еиҭашьақәдыргылаз аконфуцианра аҳәынҭқарратә идеологиа астатус анаиуз, уи XX-тәи ашәышықәса алагамҭанӡа иаанхеит, аамҭала мацара абуддизми атаоизми аԥысуа. Уи иахҟьаны Конфуци ихаҿсахьа ҳаракхеит, насгьы адинтә пантеон даладырхәит.

Конфуци аамсҭацәа рышьҭра Кун дырхылҵшьҭран. Иара ишьҭра, Китаитәи абжьарашәышықәсатәи авторцәа рыла ибзианы иҭҵааз, Веи-цзы захьӡыз Чжоу Чен-ван ахылҵшьҭра иатәыз аҳ ишьҭанеиҩы иахь ихоуп, аиашареи агәымшәареи рзы аҳра Суни, ари ахҭыс аан иқәнагаз атитул чжу хоуи зҭаз. Аха абиԥарақәа рышьҭахь, Конфуци ишьҭра уаанӡа ирымаз анырра рцәыӡын, иӷархеит; иабдуцәа руаӡәк Му Цзинфу ииҭауадра гәакьа далҵны атәым дгьыл аҿы, Лу аҳраҿы нхара далагар акәхеит[6].

Конфуци 63 шықәса зхыҵуаз аруаҩ Шулиан Хеи (叔梁紇, Shūliáng Hé) 17 шықәса зхыҵуаз икәаиаҩ Иан Чженцзаии (顏徵在, Yán Zhēngzài) дырԥан. Шулиан Хе иҭаацәараҿы жәҩык аԥҳацәа иит, 10-тәи дыҷкәынхеит, Конфуци иашьеиҳаб, аха иара «дцыркьын» (уи аамҭазы иҟаз аҵас инақәыршәаны, ахымхәацәа аԥсцәа рхәы изаҵагылаӡомызт). Заԥхьаҟа ифилософхараны иҟаз арԥыс иаб иԥсҭазаара далҵит иԥа шықәсыки бжаки анихыҵуаз. Конфуци иан Иан Чжензаии егьырҭ аҳәса еиҳабацәа ҩыџьеи реизыҟазаашьақәа уадаҩхеит аԥҳәыс еиҳабы лгәыԥжәара иахҟьаны, лара аԥа дахьылхылымҵыз лгәы ԥнажәон, уи аамҭазы китаиаа рзы ари даара акраҵанакуан. Шулиан Хе аҩбатәи иԥҳәысгьы, иԥсыҽыз, ичмазаҩыз аҷкәын дылхылҵит (Бо Ни зыхьӡырҵазз), ларгьы акәаиаҩ қәыԥш бзиа дылбомызт. Убри аҟнытә Конфуци иан лԥа длыманы иара дахьиз аҩны аанлыжьын лыԥсадгьылахь Циуифуҟа дхынҳәит, аха лҭаацәа рахь дыхнымҳәкәа лхала анхара иалагеит[7]. Конфуци 17 шықәса данырҭыс иаалырҟьаны иан лыԥсҭазаара далҵит.

Конфуци данмаҷӡаз аахыс ирацәаны аус иуан, избанзар аҭаацәара хәыҷы иӷарны инхон. Аха иан Иан Чженцзаи, данныҳәа-ныԥхьоз (ари Китаи зегьы ирылаҵәаз ажәытәтәи абиԥаратә культ ихымԥадатәиу ахәҭа акәын), иаби иабдуцәеи рус дуқәа ртәы лԥа изеиҭалҳәон. Абасала, Конфуциу еиҳа-еиҳа ибзианы еиликаауан иабиԥара дшаԥсахаша, убри аҟнытә иара ихала аҵара аҵара далагеит, зегь раԥхьаӡа иргыланы, уи аамҭазы Китаи инхоз аристократцәа зегьы рзы ихымԥадатәыз аҟазара аҭҵаара. Аҽазыҟаҵара алҵшәа бзиақәа аанагеит, Конфуци раԥхьа Лу аҳра (Мрагылартәи Китаи, иахьатәи Шаньдунтәи апровинциа) Цзи рыжәлаҿы аҵәахырҭақәа рнапхгаҩыс (арыц адкылареи аҭыжьреи рзы аҭакԥхықәра зду чынуаҩыс) дҟаҵан[8], анаҩс арахә рхылаԥшра зду чынуаҩыс. Ԥхьаҟатәи афилософ усҟан ихыҵуан — еиуеиԥшым аҵарауаа рыхәшьарақәа рыла — 20-25 шықәса, аҭаацәара далалахьан (19 шықәса анихыҵуаз инаркны), ԥакгьы диман (ихьӡын Ли, Бо Иу ҳәа ахьыӡшьара змаз)[9].

Ари Чжоу аҳра аҿыцәаара иаамҭан, ван амчра анхьысҳаха, апатриархалтә еилазаара еилаҳауан, абшьҭралатәи аиҳабыра аҭыԥан хазы игоу аҳрақәа раԥхьагылацәа анааз. Аҭаацәаратә, абшьҭратә ԥсҭазаашьа ажәытәӡатәи ашьаҭақәа реилабгара, аҭаацәарақәа рыбжьара аимак-аиҿакқәа, ачынуаа рымҵақьақьареи ркаҷбеиреи, ажәлар ргәаҟрақәеи ррыцҳарақәеи — абарҭ зегьы ажәытәра ада даҽакы зҭахымыз ауаа рҟынтәи ақәыӡбара ӷәӷәақәа дырҵысит.

Аҳәынҭқарратә политика анырра аҭара шилымшо анеиликаа, Конфуци имаҵура аанижьын, иҵаҩцәа иманы Китаи аныҟәарақәа рахь ддәықәлеит, ихшыҩзцарақәа еиуеиԥшым аҳаблақәа рнапхгаҩцәа рҟынӡа анагара иҽазышәо. 60 шықәса раҟара анихыҵуаз Конфуци иҩныҟа дхынҳәын, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа аҵаҩцәа ҿыцқәа аҵара дырҵарала ихигеит, иара убасгьы ииасыз аамҭа алитературатә ҭынха, «Ши-цзинг» (Ашәақәа рышәҟәы), «И Цзин» (Аиҭакрақәа рышәҟәы), уҳәа убас иҵегьы еизикуан.

Конфуци иҵаҩцәа, рырҵаҩы иҳәамҭақәеи ицәажәарақәеи рышьаҭала, ашәҟәы "Лун Иуи" ("Аицәажәарақәеи аӡбарақәеи") еиқәдыршәеит, уи аконфуцианраҿы ҷыдала ҳаҭыр зқәу шәҟәны иҟалеит(Конфуци иԥсҭазаара аҟынтәи аицәажәарақәа рҟны, Бо Иуи 伯魚, иара иԥа — Ли 鯉 ҳәагьы изышьҭоу дарбоуп; инысымҩа иаанхаз ажәабжь аиҳарак Сыма Циан “Иҭоурыхтә нҵамҭақәа” рҿы еизгоуп).

Аклассикатә шәҟәқәа рҟынтә, ҳәарада, Конфуци иусумҭаны иԥхьаӡатәу Чунциу (Ааԥыни Ҭагалани”, Лу иҭынха ашықәсҩыра, ҳ. ҟ. 722 шықәса инаркны 481 шықәсанӡа) заҵәык ауп; анаҩс, иҟалап, Ши-цзин («Ажәеинраалақәа рышәҟәы») аредакциа азиузаргьы. Конфуци иҵаҩцәа рхыԥхьаӡара 3000 рҟынӡа ҳәа китаитәи аҵарауаа ишышьақәдыргылогьы, урҭ рҟынтә 70-ҩык раҟара еиҳа изааигәаз ракәын, аха ишыҟаҵәҟьоу иаҳҳәозар, гәыҩбарада ҵаҩцәас имаз ҳәа хьыӡҳәала 26-ҩык роуп иаадыруа; урҭ рҟынтә зегьы дреиӷьишьон Иан Хуеи. Егьырҭ иҵаҩцәа гәакьақәа Цзен-цзыи Иу Жои ракәын.

Конфуци иҭынха: арҵареи уи аҿиареи

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аконфуцианра лассы-лассы динуп ҳәа ишазырҳәогьы уи ауахәама аинститут амаӡам, насгьы атеологиатә зҵаарақәа уи азы ихадаӡам. Аконфуцианратә етика динтәӡам. Аконфуцианра идеалс иамоуп ажәытәтәи аҿырԥштәала еинаалоу аилазаара аԥҵара, уаҟа хаҭара цыԥхьаӡа ахатәы напынҵақәа амоуп. Агармониатә еилазаара ргылоуп азиашара аидеиа ала(чжун, 忠) - аиҳаби инапаҵаҟа иҟоуи реизыҟазаашьақәа рҿы аиашара, аинаалареи уи аилазаара ахаҭеи аиқәырхара иазырхоу. Конфуци аетика ахьтәы ԥҟара шьақәиргылеит: «Уара ухазы иуҭахым ауаҩы изыҟаумҵан».

Ауаҩ иаша иеиҭамшәарақәа хәба

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Конфуци

Жен” (仁) - “ауаҩытәыҩсатә лагамҭа”, “ауаа рахь абзиабара”, “ауаҩытәыҩсабзиабара”, “агәшаҭара”, “ауаҩра”. Ари «ауаҩы иҩнуҵҟа уаҩытәыҩсатә лагамҭоуп, уи аамҭазы уалсгьы иду». Ауаҩы дызусҭоу аҳәара залшом, иморалтә уалԥшьа закәу ҳәа иҟоу азҵаара аҭак ҟамҵаӡакәа. Даҽакала иуҳәозар, ауаҩы иара ихаҭа ихы иалихуа ауп дзакәу ҳәа иԥхьаӡатәугьы. Ли И ишахылҿиаауа еиԥш, И “Жен” иахылҿиаауеит. Жен ақәныҟәара иаанагоит ауаа гәыҳалалрала, бзиабарала рзыҟазаара. Абри ауп ауаҩы аԥстәы деиԥшымкәа дҟазҵо, даҽакала иуҳәозар, агыгшәыгреи, амшаҭареи, агәымбылџьбарареи реиԥш иҟоу аԥстәы аҟазшьақәа ирҿагылоу. Ашьҭахь, аиҭамшәара Жен адыргас Аҵла ҟалеит.

Конфуци иқалақь гәакьа Циуифу ихылҵшьҭрақәа рыҩнқәа.
  • И (义 [義]) - “аҵабырг”, “аиашара”. Ахатә феида азы И ақәныҟәара гәнаҳараны иԥхьаӡамзаргьы, ииашоу ауаҩы И дақәныҟәоит, избанзар уи иашоуп. И шьаҭас иамоуп аҩганктәи аизыҟазаашьа: убас, ииашоуп аҭаацәа ҳаҭыр рықәҵара, уахьырааӡаз азы иҭабуп ҳәа раҳәо. Жен ахаҭабзиара еиҟаранатәуеит, насгьы згәы разу ауаҩы иахәҭоу аӷәӷәареи аџьбарареи инаҭоит. И ахы абзиабара иаҿагылоуп. «Ауаҩ гәыраз И дашьҭоуп, ауаҩы лаҟә — ахашәалахәы». И абзиарҿиара анаҩс Аметалл иадҳәалахеит.
  • Ли (礼 [禮]) — ҵакыла "аҵас", "ақьабз", "аритуал" аанагоит. Аҵасқәа рызиашара, ақьабзқәа рықәныҟәара, иаҳҳәап, аҭаацәа пату рықәҵара. Еиҳа иааизакны иуҳәозар, Ли ҳәа изышьҭоу аилазаара ашьаҭақәа рыхьчара иазырхоу иарбанзаалак аус ауп. Асимвол — Амца. Ажәа "аритуал" аурыс бызшәала ​​китаитәи атермин "ли" иақәшәо ажәак мацара акәӡам, уи еиҭагазар ауеит "аԥҟарақәа", "ацеремониақәа", "аетикет", "аритуал", мамзаргьы, еиҳа ииашаны иуҳәозар, "аҵас" ҳәа. Иааизакны иуҳәозар, аритуал ҳәа изышьҭоу ииашоу аилазаара аҟазшьақәа рнормақәеи рҿырԥштәқәеи роуп. Уи асоциалтә механизм ахьшьы аҳасабала иахәаԥшызаргьы ҟалоит.
  • Чжи (智) — ахшыҩ бзиа, ахдырра бзиа, «аҟәыӷара», ахшыҩеилыххара — ухатә усқәа ирхылҿиаарц иалшо заа аилкаашьа адырра, урҭ анҭыҵнтәи, перспективала рыхәаԥшра. И ахаҭабзиара еиҟаранатәуеит, ақәымчра агәҽанҵо. Чжи агаӡара иаҿагылоуп. Аконфуцианраҿы Чжи Аӡы аелемент иадҳәалан.
  • Син (信) - агәыцқьара, "агәҭакы бзиа", ахатәгәаԥхареи аламысцқьареи. Ли еиҟаранатәуеит, ахаҿыҩбара аԥхьырҟәҟәаауа. Син Адгьыл аелемент иашьашәалоит.

Аморалтә уалԥшьақәа аритуалқәа рҿы иахьыҟало азы, ааӡареи, аҵареи, акультуреи ирусны иҟалоит. Абарҭ ахшыҩҵакқәа Конфуци еиҟәимыҭхеит. Урҭ зегьы вен ҳәа изышьҭоу акатегориа аҵакы иаҵанакуеит (аханатә ари ажәа зцәа асахьақәа ану ауаҩы акәын иаанагоз). «Вен» ҳәа аилкаара ҟалоит ауаҩы иҟазаара акультуратә ҵакы, ааӡара ҳәа. Ари ауаҩы ихадаратәым аҩбатәи иааӡара акәӡам, иара убасгьы иара аханатәтәи иԥсабаратә хҟьагьы акәым, ашәҟәытәра акәӡам, аԥсабаратәра акәӡам, аха урҭ рорганикатә еилаҵа ауп.

Китаитәи ацивилизациа анырра

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аконфуцианра Мраҭашәаратәи Европа аларҵәара

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Конфуци ибаҟа Уханьтәи 6-тәи абжьаратә школ азааигәара

XVII-тәи ашәышықәса азбжазы Мраҭашәаратәи Европа, Китаитәи, иара убас иааизакны Мрагыларатәи аекзотика азы амода цәырҵит. Уи амода иацын китаитәи афилософиа аҵара аҽазышәарақәагьы, урҭ лассы-лассы ирылацәажәо иалагеит, зны-зынлагьы иҳараку џьшьарала. Убас, иаҳҳәап, англыз уаҩ Роберт Боил китаиааи индиааи абырзенцәеи римааи ирҿирԥшуан.

1687 шықәсазы иҭыҵит Конфуци иҩымҭа “Лун Иу” лаҭын бызшәала аиҭага. Аиҭага еиқәнаршәеит асинологцәаиезуитцәа ргәыԥ. Уи аамҭазы аиезуиттә орден Китаи ирацәаны амиссиақәа аман. Ажәабжьанҵаҩцәа руаӡәк Филипп Купле, Мишель ҳәа зыхьӡ арбаз китаитәи арԥыск дицны Европаҟа дхынҳәит. 1684 шықәсазы ари китаитәи асас Версаль иаҭаара Европа Китаитәи акультурахь ирымаз азҿлымҳара еиҳагьы иацнаҵеит.

Афранцыз философ Николас Мальбранш 1706 шықәсазы иҭижьыз ишәҟәы “Ақьырсиан хәыцҩи китаитәии реицәажәара” аҿы аконфуцианра даҿацәажәон. Мальбранш ишәҟәаҿы иазгәеиҭоит, ақьырсиантә философиа ахә замоу ҳәа ишииԥхьаӡоу, уи аинтеллектуалтә культуреи адинтә мазареи аамҭаказы шьаҭас иахьыҟанаҵоу азы шакәу. Китаитәи амандарин, ашәҟәаҿы аинтеллектуализм ҟьантаз аҿырԥштәы аанарԥшуеит, уаҟа Мальбранш ибоит иҵаулоу, аха ихәҭактәиу аҟәыӷара аҿырԥштәы, адырра мацара ацхыраарала иузырҳауа. Абасала, Мальбранш ииҳәаз ала, Конфуци адин дашьаҭаркҩым, аха ицқьоу арационализм ахаҭарнак иоуп.

Готфрид Вильгельм Леибницгьы Конфуци ирҵарақәа иаамҭа рацәаны ирзикит. Иҷыданы, иара Конфуции, Платони, ақьырсиантә философиеи рфилософиатә позициақәа еиҿырԥшны, аконфуцианра актәи апринцип, Ли — “Ахдырра” шакәу дазнеиуеит, Аԥсабара ашьаҭа аҳасабала. Леибниц апаралель ааигоит ақьырсиантә дунеихәаԥшышьаҿы ирыдыркылаз иаԥҵоу адунеи арационализм апринцип, европатәи аконцепциа ҿыц, еилкаау, аԥсабара ашьаҭа ҳәа, Платон иконцепциа “иреиҳау абзиара” рыбжьара, уи ала иара еиликаауеит наӡаӡатәи, иаԥҵам адунеи ашьаҭа. Убри аҟнытә, аконфуцианра апринцип Ли Платон "иреиҳау ибзиара", мамзаргьы ақьырсиантә Нцәа иреиԥшуп.

Леибниц иметафизика ацныҟәаҩ, аларҵәаҩ, зегь раасҭа пату зқәыз Ааӡара афилософцәа иреиуаз Христиан фон Вольф ирҵаҩы иҟынтәи китаитәи акультура ҳаҭырла азыҟазаара иоуит, аконфуцианрагьы уахь иалаҵаны. “Китаиаа рморалтә рҵара иазкны ажәахә” захьӡыз иҩымҭаҿы, иара убас егьырҭ иусумҭаақәа рҟны, иара изныкымкәа иаҵшьны иазгәеиҭон Конфуци иҵара ауаатәыҩса зегьы рзы аҵакы шамоу, иара убас Мраҭашәаратәи Европа уи хшыҩзышьҭрала ишдырҵалатәу.

Еицырдыруа анемец ҭоурыхҭҵааҩ Иоганн Готфрид Гердер, китаитәи акультура егьырҭ ажәларқәа ирҟәыҭхоу, ажәытәра иагаз, ирҿиам ҳәа критикала ахәшьара ҟазҵаз, иара убас Конфуци изкнгьы ирацәаны иҽеим ажәақәа иҳәеит. Иара игәаанагарала, Конфуци иетика адунеи зегьы аҟынтәи, аморалтәи акультуратәи аҿиарақәа рҟынтәи зҽызҵәахыз атәцәа мацара роуп зырҿиара алшо.

Афилософиа аҭоурых иазку илекциақәа рҿы, Гегель XVII-тәии XVIII-тәии ашәышықәсақәа рзы Мраҭашәаратәи Европа аконфуцианрахь иҟаз азҿлымҳара гәрамгарала ахәшьара азыҟеиҵоит. Иара игәаанагарала, “Лун иу” иҟны џьашьахәыс акгьы ыҟам, ари баша «иныҟәо амораль» иҟац аиҭаҟалара аизга ауп. Гегель излаиҳәо ала, Конфуци апрактикатә ҟәыӷара цқьа даҿырԥштәуп, Мраҭашәаратәи Европа аметафизика аҟазшьа бзиақәа змам, Гегель ихаҭа кырӡа зыхә ҳаракны ишьо. Гегель ишазгәеиҭо ала, «Конфуци ихьӡ-иԥша азы еиҳа еиӷьхон иусумҭақәа еиҭагамкәа иаанхазҭгьы».

Вебер иусумҭа «Китаи адин: аконфуцианреи адаосизми» аҿы иазгәеиҭеит аконфуцианра аҵара змоу ауаа рзы аполитикатә ҵакқәеи аилазаара аҟазшьа бзиақәа рыԥҟарақәеи рыла ишьақәгылоу акодекс ду мацара шакәу. Китаитәи адинқәа рыҭҵаараан, Вебер акапитализм китаитәи акультураҿы адәныҟатәи анырра ада изымиз аилкаара иҽазишәон.[10]

Конфуци аклассикатә усумҭақәа жәпакы аредакциа рзиуит ҳәа иԥхьаӡоуп, аха аҵарауаа реиҳараҩык уажәы еицҿакны уи ихәыцрақәа ииашаҵәҟьаны иаазырԥшуа атекст “Лун Иу” (Аицәажәарақәеи аӡбарақәеи) заҵәык ауп ҳәа рыӡбеит, Конфуци ишколтә нҵамҭақәа рыла ишьақәыргылоу, ахәыцҩы иҵаҩцәа иара иԥсра ашьҭахь еидыркылаз.

Конфуци иҳәамҭақәа рацәаны егьырҭ зааӡатәи атекстқәа рҿгьы иҟоуп, иаҳҳәап, "Кун-цзы цзиа иуи." (孔子家語, Kǒngzǐ jiā yǔ) Даостәи алитератураҿы зны-зынла иара дызлоу апародиатә ҟазшьа змоу анекдотқәа ааԥшуеит.

"Конфуции ахәыҷқәеи" — ахәыҷтәы ԥхьара ашәҟәы аҟынтәи асахьа (1680 ш)

Конфуци Китаитәи аклассикатә ҵарааӡараҿы ихадоу хаҿсахьак иаҳасабала ицәырҵра хәыҷы-хәыҷла иҟалеит. Раԥхьаӡа, ихьӡ Мо-цзы (墨子, Mòzǐ; ихьӡҵәҟьа Мо-ди (墨翟, Mò dí)) — Кун-мо (孔墨, Kǒng mò) иацҵаны ирҳәозҭгьы ҟалоит, мамзаргьы егьырҭ аимпериаԥхьатәи аамҭазы иҟаз аинтеллектуалцәа рсиаҿы иҳәазар ҟалоит. Зны-зынла уи атермин жу 儒 иадҳәалан — аха еилкаам уи аконфуцианра ада даҽа интеллектуалтә ҵасқәак аанарԥшуазу, иаанамырԥшуазу (абри аилкаара аконфуцианра аҟаратәра азышәахә).

Конфуци деицырдыруа дҟалеит Хан адинастиа аан: ари аамҭатәи алитератураҿы иара уажәшьҭа арҵаҩы, аполитик иаҳасабала мацара акәымкәа, азакәанԥҵаҩы, иҟалаша збо, анцәабжа иаҳасабалагьы дцәырҵуеит. “Чункциу” ахцәажәарақәа рыхҳәааҟаҵаҩцәа ргәы иаанагоит Конфуци «ажәҩантә амандат» аиура даԥсахеит ҳәа, убри аҟынтә иара «гәыргьын зхаҵам аван» ҳәа изырҳәоит. Ҳара ҳера 1-тәи ашықәсазы иара ҳәынҭқарратә гәадураны дҟалоит (титул 褒成宣尼公, Bāo chéng xuān ní gōng); 59 шықәса инаркны иара изкны еиԥырҟьо аҳамҭақәа аҭыԥантәи аҩаӡараҿы ирыдыркылоит; 241 шықәсазы (Х-аҳрак) аристократиатә пантеон аҿы дшьақәырӷәӷәоуп, 739 шықәсазы, Тан абиԥара анапхгараан, аван ититулгьы иҭоуп. 1530 шықәсазы Мин аимпериа аан Конфуци «ажәытәтәи арҵаҩцәа рыбжьара иреиҳаӡоу аҟәыӷа» (至聖先師, Zhì shèng xiān shī) ҳәа ахьӡ иоуит.

Ари еизҳауа аицазхаҵара иаҿурԥшыр ахәҭоуп Конфуци изку адыррақәеи иара иахь ирымоу азнеишьеи ирылацәажәо атекстқәа рыкәша-мыкәша имҩаԥысуа аҭоурыхтә процессқәа. Убас, «агәыргьын зхаҵам аҳ» Ван Ман аҳра имхра иадҳәалаз ақәыӷәӷәара ашьҭахь еиҭашьақәыргылаз Хан адинастиа азакәантәра ацхраара илшон (уи аамҭазы аҳҭнықалақь ҿыц аҿы раԥхьатәи абуддистә ныҳәарҭа ашьаҭа ркит).

Аԥышәаратә система аҿиара иацны Конфуци изку аныҳәарҭақәа (en:Temple of Confucius) Китаи ахи-аҵыхәеи иалаҵәеит. Урҭ рҟынтә еиҳа еицырдыруа иреиуоуп иара иԥсадгьыл аҿы иҟоу Конфуци иныҳәарҭа, иара убас Циуифу, Шанхай, Пекин, Таичун.

Китаи аҭоурых аҿы Конфуци ихаҿсахьа еиуеиԥшым аҭоурыхтә ҟазшьақәа ахьаанахәоз Гу Цзеган исамарҟәыл ажәа ахылҿиааит, «зныкҟьара Конфуциик ыжәлатәуп» ҳәа зҳәаз.

Аамҭа ҿыцазтәи агәалашәара

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иара ихьӡ ахҵоуп Конфуци иинститут, Китаитәи Жәлар Рреспублика Аҵарадырра министрра еиуеиԥшым атәылақәа рҿы еиҿнакааз жәларбжьаратәи акультура-ҵаарадырратә центрқәа, иахьаарту атәылақәа рҵаратә усбарҭақәа рыцырхырааны.

Жьҭаарамза 5, 1998 шықәсазы, Конфуци ихьӡ ахҵоуп, цәыббрамза 29, 1973 шықәсазы К. И. ван Хаутени И. ван Хаутен-Груневелди Т. Герельс иҭихыз Паломартәи афотоҭыхратә пластинкақәа рҿы иаартыз астероид 7853 Confucius.[11][12]

Еиду Аштатқәа рҟны, 1867 шықәсазы Калифорниа иҟоу Атрансконтиненталтәи адәыӷбамҩаҿы китаитәи аусзуҩцәа аконфуцианра аметодқәа рхы иадырхәеит.[13]

Акино аҿы ахаҿсахьа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
  • 2010 - Конфуци / Confucius / Kong Zi (ареж. Ху Меи / Hu Mei) - асахьаркыратә, Конфуци ироль наигӡоит - Чоу Иун-Фат / Yun-Fat Chow
  • 2015 - Конфуци / Confucius (ареж. Хиуго Макгрегор / Hugo Macgregor) - адокументал-хәмарратә, Конфуци ироль аҿы - Минлин Циао / Minglin Qiao
  1. Phan, 2012, p. 170.
  2. Chin, 2007, p. 2.
  3. Riegel, 2012.
  4. Rainey, 2010, p. 1.
  5. Phan, 2012, p. 170.
  6. Переломов Л. С. Конфуций, 1993, с. 43.
  7. Переломов Л. С. Конфуций, 1993, с. 45—48.
  8. Dubs, 1946, p. 275—276.
  9. Переломов Л. С. Конфуций, 1993, с. 49—56.
  10. "Конфуций". ruchina.org (аурыс бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 2020-08-13 ахь. Ириашоу 2020-11-06 шықәсазы.
  11. Циркуляры малых планет за 5 октября 1998 года Архив ҟаҵан 2021-07-31 азы Wayback Machine аҟны. — в документе надо выполнить поиск Циркуляра № 32790 (M.P.C. 32790)
  12. Lutz D. Schmadel. Dictionary of Minor Planet Names (англ.). — Fifth Revised and Enlarged Edition. — Berlin, Heidelberg, New York: Springer, 2003. — P. 619. — ISBN 3-540-00238-3.
  13. Ryan, Patrick Spaulding (2022-05-05). "Saving Face Without Words: A Confucian Perspective on The Strike of 1867 («Сохранение лица без слов: конфуцианский взгляд на забастовку 1867 года»)". International Journal of Humanities, Art and Social Studies (IJHAS). (forthcoming, May 2022). doi:10.2139/ssrn.4067005. ISSN 1556-5068. Ириашоу 2022-05-22 шықәсазы.