Клеопатра
| Клеопатра VII | |
|---|---|
| Κλεοπάτρα Φιλοπάτωρ | |
|
Мавретаниатәи Цезараа рҟынтәи Клеопатра VII лбиуст. Берлинтәи антикатә еизгарҭа | |
| Мысра аҳкәажә | |
|
Амаҵураҭыԥ ахь: ҳ. ҟ. 51 – ҳ. ҟ. 30 | |
| Аԥхьа иҟаз | Птолемеи XII |
| Аҭынха | Октавиан Август (Римтәи Мысра анапхгаҩы иаҳасабала) |
|
| |
|
| |
| Аира |
ажьырныҳәамза 13, 69 ш. ҳ. ҟ. Александрия |
| Аԥсра |
нанҳәамза 12, 30 ш. ҳ. ҟ. Александрия |
| Аԥсра зыхҟьаз | отравление |
| Аԥсыжра аҭыԥ | Александрияи Tomb of Antony and Cleopatra |
| Амилаҭра | Египетские греки |
| Атәылауаҩра | Эллинистический Египет |
| Абызшәақәа |
койне, Египеттәи абызшәа, арамейские языки, мероитский язык, Алаҭын бызшәа, сирийский язык, староарабский язык, мидийский язык, парфянский язык |
| Ахаҵа |
|
| Ацынхаҩы |
Гней Помпей Младший, Гай Юлий Цезарь |
| Ани аби | Птолемеи XII, Клеопатра V |
| Ахәыҷқәа | |
| Ауацәа | Клеопатра Трифаина[1], Береника IV[2], Арсиноя IV[2], Птолемей XIII Теос Филопатор[1]и Птолемей XIV[1] (ашьцәеи аиаҳәшьцәеи) |
| Ажәла | Птолемеиаа |
| Аусура |
асуверен, аҳ |
| Анаԥынҵамҭа |
|
Клеопатра VII Филопатор (ажәытә бырзенбызшәала Κλεοπάτρα Φιλοπάτωρ, копт. Ⲕⲗⲉⲱⲡⲁⲧⲣⲁ Ⲫⲓⲗⲟⲡⲁⲧⲱⲣ;) — Македониатәи Птолемеиаа (Лагидцәа) рдинасти иалҵыз рахьтә еллинтәи Мысра аҵыхәтәантәи аҳкәажә.
Лара деицырдыруа дҟалеит римтәи ар рԥыза Марк Антони иахь илымаз адрама зхылҿиааз абзиабара аҭоурых ала. Лара лаҳкәажәра аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Рим анапахьы иаанагеит Мысра, Клеопатра лхаҭа лҽылшьит, Октавиан тәыс дҟаимҵарц азы. Лара акиноқәеи алитературатә ҩымҭақәеи рҿы зегь реиҳа еицырдыруа ажәытәӡатәи аперсонажқәа дыруаӡәкын, иахьагьы убарҭ дреиуоуп.
Азеиԥш дырраҭара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Клеопатра VII инеиԥынкылан 22 шықәса Мысра анапхгара алҭон, лашьцәа лыцхантәаҩцәан (дара традициала формалла иагьылхацәан) Птолемеи XIII, Птолемеи XIV, анаҩс римтәи ар рԥыза Марк Антони ԥҳәысс диман. Лара лоуп Рим анапахьы иаанагаанӡа, Мысра зхы иақәиҭыз аҵыхәтәантәи напхгаҩыс иҟаз. Лареи Иули Цезари, анаҩс лареи Марк Антонии ирыбжьаз абзиабара абзоурала зегьы деицырдыруа дҟалеит. Иҟалап Цезар иҟынтәи Цезарион захьӡыз аԥа дылхылҵзар, Антони иҟынтә- ҩыџьа аԥацәеи ԥҳаки[3].
Клеопатра илызку ахыҵхырҭақәа — Плутарх, Светони, Аппиан, Дион Кассии, Иосиф Флавии. Лара илызку ажәытәӡатәи аҭоурыхҭҵаарақәа раӷьырак лыхьӡ ҭызгақәо иреиуам; иҟоуп агәаанагара, Клеопатра лаҳаҭыр лазырҟәуаз Мысра знапахьы иаазгаз Октавиани иааикәыршаны иҟаз ауааи роуп ҳәа, урҭ рымч зегь азыркит аҳкәажә лыхьӡ арцәгьара, даадырԥшит ишәарҭоу Рим аӷа лакәны, уи азмырхакәа Марк Антони игени бааԥс лакәынгьы.
Аха аҭоурыхҭҵааҩцәа џьоукы агәаанагара аадырԥшуеит лара илзырҳәоз иашаҵәҟьан ҳәа, акаҳԥреи агьангьашреи лылан ҳәа. Иаҳҳәап, IV-тәи ашәышықәсазы инхоз римтәи аҭоурыхдырҩы Аврели Виктор Клеопатра илызкны иҟаиҵаз аҳәамҭа еиқәханы иҟоуп: «Уи дыԥхамшьан, лассы-лассы длаԥсуан, акырӡа дыԥшӡан, аӡәырҩы ахацәа уахы заҵәык иадамхаргьы илызнеирц азы рыԥсҭазаара ахҭнырҵон»[4].
Ахылҵшьҭра
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Птолемеиаа

Клеопатра диит 69 азы, ҳ. ҟ. (официалла Птолемеи XII аҳра аниуаз 12-тәи ашықәс азы), иҟалап, Александриа. Лара аҳ Птолемеи XII Авлет хҩык (еицырдыруа) иԥҳацәа дыруаӡәкуп, иҟалап ауадалықԥҳәыс дылхылҵзар, избан акәзар, Страбон ишазгәеиҭоз ала, уи аҳ изакәантәыз ԥҳа заҵәык лакәын имаз — Береника IV, ҳ. ҟ. 58—55 шықәсқәа рзтәи аҳкәажә.
Клеопатра лхәыҷреи лқәыԥшреи ирызкны акгьы еилкааӡам. Ҳәарада, лара даара анырра лынаҭеит ҳ. ҟ. 58—55 шықәсқәа рзы иҟалаз аилаҩынтра, лаб аҳ дахҳәаны, Мысра данықәырца, иԥҳа (Клеопатра лаҳәшьа) Береника аҳкәажәс даныҟала. Рим Шьамтәыла ахаҭарнак Габинии имчқәа рыла Птолемеи XII иаҳратәра андырхынҳә, Птолемеи XII ауаҩшьрақәеи, арепрессиақәеи рахь диасуеит (урҭ ирылҵшәаны Береникагьы дҭахоит). Уи иахҟьаны иара театркьанџьак еиԥш изныҟәо иалагеит, Римтәи амчра абзоурала акәхеит аҳ иҭыԥаҿ даанызкылоз, Рим Мысра атәыла афинансқәа ахьалнацәцәаауаз акала дзаԥырхагахомызт. Лаб иаҳраан аҭыԥ змаз ауадаҩрақәа рҵагахеит ԥхьаҟа иаҳкәажәхаран иҟаз лзы, лара алшарақәа зегьы лхы иалырхәеит лаӷацәеи лымҩа иаԥгылази рықәгаразы. Иаҳҳәап, лашьа еиҵбы Птолемеи XIII ҳ. ҟ. 44 шықәсазы, уи ашьҭахь лаҳәшьа Арсиноиа IV.
Аҭеиҭыԥши ахаҭареи
[аредакциазура | акод аредакциазура]
Иаанымхеит зыгәра угартә иҟоу, ииашаны, аидеализациа ҟамҵакәа, Клеопатра лҭеиҭыԥш аазырԥшуа сахьак. Алжир иҟоу Шершель ақалақь аҟны (ажәытәтәи ақалақь), аԥхасҭа зауз абиуст, Клеопатра лыԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иаԥҵан, иара Марк Антонии лареи рыԥҳа Клеопатра Селена II Мавретаниа аҳ Иуба II дахьицца аҳаҭыразы иҟаҵан, уи Клеопатра аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзтәи лҭеиҭыԥш аанарԥшуеит, аха џьоукы ари абиуст Клеопатра Селена II лхаҭа лтәоуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Клеопатра VII илыдыркылоит еллинтәи абиустқәа, иқәыԥшу, абырзенцәа рхы-рҿқәа змоу аҳәса ԥшӡақәа аазырԥшуа, аха абиустқәа модельқәас ирымақәаз рхаҭарақәа иалкааӡам. Иҟоуп агәаанагара, Клеопатра VII лсахьа зныԥшуа абиустқәа Берлинтәи антикатә еизгарҭаҿы,насгьы Ватикантәи амузеи аҿы иҵәахуп ҳәа, аха аклассикатә ҭеиҭыԥш аидеализациа азуп ҳәа агәыҩбара цәырҵуеит. Ԥыҭҩык аҵарауаа агәаанагара аадырԥшуеит, Есквилинтәи Венера ҳәа изышьҭоу аҳатәара Клеопатра Рим даныҟаз иҟарҵеит ауп ҳәа.
Аԥара ҿырпқәа ирну апрофильқәа рҿы дарбоуп зхахәы ҳәуа, зыблақәа дуу, зыцламҳәа маҷк ԥхьаҟа иаагоу, зԥынҵа ҭархәо аԥҳәыс (Птолемеиаа рышьҭра ахаҭарнакцәа ишырҟазшьоу еиԥш). Даҽа ганкахьалагьы, идыруп, Клеопатра амч ду змаз ԥхаррак шлыҵаз,иаразнак улахь дшааиуаз, ларгьы уи лхы иалырхәон, уи адагьы, абжьы хаа лхан, лыхшыҩ ҵаулан, иҵарын. Клеопатра лпортреҭқәа збахьаз Плутарх иҩуеит:
Избан акәзар, абри аԥҳәыс лыԥшӡара зеиԥшыҟам ҳәа изышьҭоу, убла шаалықәшәалак узыршанхо акәмызт, аха лцәажәашьа ссирын, убри аҟнытә лҭеиҭыԥш зегьы ухнахуан, насгьы илҳәозгьы агәра угон, лажәақәа роума, лныҟәашьа аума, зегь рыла далукаауан, убри аҟынтә лара угәаҵанӡа днеиуан. Лыбжьы ашьҭыбжьқәа хааӡа ауаҩы илымҳа иҭыҩуан, лыбыз иарбан цәажәашьахкызаалак ирԥшӡан иаазырԥшуа, арахәыц рацәа змоу амузыкатә инструмент еиԥшын»[5]
Усҟантәи аамҭаз абырзенқәа рыԥҳацәа рааӡара усҟак хьаас ирымамызт, аҳцәа рҭаацәарақәа рҿгьы ус иҟан, аха Клеопатра аҵара ду лдырҵеит, уи ԥсабарала илылаз аҟәыӷара ианацла, алҵшәа бзиақәа аанагеит. Клеопатра ииашаҵәҟьаны аҳкәажә- аполиглот лакәхеит, лара лхатәы бызшәа инаҷыданы (еллинтәа аамҭазы иҟаз абырзен бызшәа) анаҩсгьы, илдыруан мысраа рбызшәа (лдинастиа аҟынтә раԥхьа лара лоуп уи аҵара зылзыршаз, иҟалап Птолемеи VIII Фискон дналамҵакәа), арамеитәи, агеезтәи (ажәытә ефиоптәи абызшәа), ажәытә аџьамбызшәа, ажәытә ауриа бызшәеи аберберцәа рбызшәеи (ажәытәтәи Ливиа аладахьы инхоз ажәлар). Лара лбызшәадыррақәа алаҭын бызшәагьы аҵанакит, аха аҵара змаз римаа, Цезар иеиԥш иҟаз, рхаҭақәа абырзен бызшәа бзиаӡаны ирдыруан.
Ахьӡ
[аредакциазура | акод аредакциазура]| Ахьӡ ахкы | Аиероглифтә ҩыра | Атранслитерациа | Ахыҵх. | ||||||||||
|---|---|---|---|---|---|---|---|---|---|---|---|---|---|
| «Ахор ахьӡ»(Хор иеиԥш) |
|
|
wr(t) nb(t)-nfrw ȝḫ(t)-zḥ. | [6] | |||||||||
|
wrt twt-n-jt.s. | [7] | |||||||||||
| «Ахатә хьӡы»(Ра иԥҳа лаҳасабала) |
|
|
qrwwpdr.t Ep. nṯrt mr(t)-jt.s. (Κλεοπάτρα θέά φιλοπάτωρ) | [8] | |||||||||
|
qrwjwȝpȝdrȝ.t | [9] | |||||||||||
| Аепитет |
|
nṯrt mr(t) jt.s. | [9] | ||||||||||
|
nṯrt mr(t) jt.s. | [10] | |||||||||||
Аҳәынҭқар итәарҭахь амҩа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Птолемеи XII, ҳ. ҟ. 51 шықәса хәажәкырамзазы иԥсҭазаара далҵит, уи иуасиаҭ ала аҳ иҭыԥ Клеопатреи уи аамҭазы 9 шықәса раҟара зхыҵуаз лашьа еиҵбы Птолемеи XIII-и рахь иасуан, ешьеи еҳәшьеи формалла аҭаацәара аԥырҵеит, избанзар ажәытәтәи Мысратәи аҵас инақәыршәаны, аиашьа иаҳәшьа ԥҳәысс дигар акәын. Птолемеиаа рышьҭраҿы аӡӷабцәа зегьы Клеопатра рыхьӡын, аҷкәынцәа — Птолемеи. Клеопатра лашьа-лхаҵа иаҵкыс деиҳабын, убри аҟнытә регент ԥҳәысс дҟалеит. Лара 18 шықәса анлыхыҵуаз, Рим ақәыршаҳаҭны, аҳ иҭыԥ дахагылеит, Θέα Φιλοπάτωρ (Теа Филопатор) ҳәа официалла ахьӡ лыҭаны, даҽакала иуҳәозар, аб бзиа дызбо анцәарҭыԥҳа (ҳ. ҟ. 51 шықәсазтәи астела иану аҩыра аҟынтә). Лаҳра раԥхьатәи хышықәса аамҭа мариамызт, избанзар Нил аӡхыҵра ахьмаҷыз иахҟьаны ҩышықәса ирылагӡаны аҽаҩра ҟаломызт.
Ацнапхгаҩцәа аҳра руа ианалага, иаразнак аганқәа маӡала еиҿагыло иалагеит. Раԥхьа Клеопатра,лашьа қәыԥш наҟ днаиханы, лхала анапхгара ҟалҵон, аха нас иара амчра инапахьы иааигарц далагеит, аевнух Потин ( иара уаанӡа аҳәынҭқарра напхгара аиҭошәа дыҟан), акомандаҟаҵаҩ Ахилл, насгьы дзааӡаз Теодот (Хиостәи ариторик рыцхыраарала). ҳ. ҟ. 50 шықәса жьҭаарамза 27 рзтәи адокумент аҿы Птолемеи ихьӡ инаҵшьны аԥхьа игылоуп.
ҳ. ҟ. 48 шықәса аԥхынразы Шьамтәылаҟа ибналаз Клеопатра, уаҟа ар еизганы, уи ар хадара азуны, Мысра аҳәааҿы дааины дгылеит, Пелусии абаа азааигәара; иара уаҟаҵәҟьа ар дрыцны дааины лашьагьы дгылеит, иаҳәшьа атәыла даламҵарц азы.
Еиҭакратә моментны иҟалеит Мысраҟа ибналаз римтәи асенатор Помпеи Птолемеи идгылаҩцәа даныршьыз аамҭа.
Клеопатреи Цезари
[аредакциазура | акод аредакциазура]
Уи аамҭазы аиҿагылара иаланагалеит Рим. Фарсал азааигәара Иули Цезар Помпеи дииааит, Помпеи ҳ. ҟ. 48 шықәса рашәарамза алагамҭазы Мысра дыӡхыҵуеит, Мысратәи аҳ ицхыраара даҳәоит. Птолемеи XIII қәыԥш, ииашаны иаҳҳәозар, иабжьгаҩцәа, аиааира згаз рҟынтә феида роурц азы, Помпеи ишьразы адҵа ҟарҵоит. Помпеи Мысра адгьыл ишьапы шаақәиргылаз, иааикәыршаны иҟаз зегьы рыла ишабоз дҭадырхеит (ҳ. ҟ. 48 шықәса цәыббрамза 28 рзы). Аха аҳ агха ихьит: ҩымш рышьҭахь Помпеи дишьҭаланы Мысра инеиз Цезар, уи дахьҭадырхаз игәы ԥнажәнеит, Помпеи ихы Александриа аҭӡамцқәа рзааигәара ҳаҭырла анышә иарҭартә иҟаиҵеит, анаҩс уаҟа Немезида лыԥшьаҭыԥ иргылеит.
Цезар Мысра даннеи ихазынаҭра хаирҭәаарц иҽазишәеит, Птолемеи XII аҳра архынҳәра данашьҭаз римтәи абанкир Рабири иҟны иҟаиҵаз ауалқәа рхархәарала, Цезар урҭ иара итәитәырц далагеит. Светонии иҩуеит, Цезар Мысра Римтәи провинцианы аҟаҵара «изымгәаӷьит» ҳәа, « зеиҿырцаа бзиоу хаҭарнакык инапахьы иааимгарц азы [амал ду змаз апровинциа] ». Убри аан Цезар аҳцәа рыбжьара иҟаз аимак-аиҿак аҿы ӡбаҩыс дыҟазарц шиҭаху рылеиҳәеит. Птолемеи XIII усгьы ииашаҵәҟьаны напхгаҩыс дыҟан, насгьы Помпеи дазхаиҵахьан; убри аҟынтә, Цезар Клеопатра лышҟа азҿлымҳара ааирԥшит, избанзар уи амчра лиҭар кьанџьаҵас ииҭаху лылаигӡалар илшоит ҳәа иԥхьаӡеит.
Мысраҟа данаа хара имгакәа, иара Клеопатра Александриаҟа длыԥхьоит. Птолемеи иуаа ирыхьчоз аҳҭнықалақь ахь анеира ус мариамызт; уи аус анагӡараҿы Клеопатра длыцхрааит лара бзиа дызбоз сицилиатәи Аполлодор, уи аҳкәажә маӡала аԥсыӡ зларкуаз анышь ала дигеит, анаҩс Цезар иуадақәа рахь днаигеит, ацәарҭама иазкыз асакь ду дҭаҵаны (акиносахьақәа рҿы ирԥшӡаны ишаадырԥшуа еиԥш, ауарҳал дылаҵаны акәымкәа, уахәаԥш Клеопатра луарҳал). Абри афакт иунарбоит аҳкәажә цәеижьыла митәык дшыҟамыз. Клеопатра Римтәи адиктатор диашьаԥкны, даазмырбуаз рзы дашшышуа далагеит, Потин дишьырц азы агәазыҳәара аалырԥшит. 52 шықәса зхыҵуаз Цезар аҳкәажә қәыԥш даара дигәаԥхеит; уи адагьы, Птолемеи XII иуасиаҭ азыхынҳәра иара ихатә политикатә интересқәа ирықәшәон. Адырҩаҽны шьыжьымҭан Цезар иӡбамҭа атәы жәаха шықәса зхыҵуаз аҳ аниаиҳәа, уи игәы ԥжәаны идиадема ихҳәаны, дыҳәҳәо аҳҭынра ддәылҟьеит, ачарҳәара шизыруз атәы еизаз ауаа иреиҭеиҳәо далагеит. Ари заҳаз ажәлар агәынамӡара аадырԥшуа иалагеит; аха уи аамҭазы Цезар аҳ иуасиаҭ дырзаԥхьан, илиршеит ажәлар реиқәкра.
Аха Цезар изы аҭагылазаашьа еиҳа иуадаҩхеит. Иара ицыз ар быжь- нызқьҩык асолдаҭцәа ыҟан; Африка иҭадырхаз Помпеи идгылаҩцәа еизо иалагеит, ари аҭагылазаашьа Птолемеи ипартиа ахаҭарнакцәа Цезар дықәаҳгоит ҳәа агәыӷра рызцәырнагеит. Потини Ахилли Александриаҟа ар ааԥхьара рырҭеит; Цезар Потин дахьишьызгьы иаанамкылеит бџьаршьҭыхлатәи ақәгылара. Аруаа ақалақьуаагьы рыдгылеит, римаа ишырҭаху рхы ахьымҩаԥыргоз, ақалақьуаа рмал ахьырцәыргоз иаҿагыланы игылеит. Птолемеи XIII-ии иаҳәшьа Арсиноиеи уахь ибналаны ианнеи еиҳа ргәы шьҭыҵит. Уи иахҟьаны, ҳ. ҟ. 48 шықәса цәыббрамзазы Александриа аҳратә квартал аҿы инхоз Цезар иааикәшан итәеит. Цезари Клеопатреи еиқәдырхеит цхыраара ирзааиз Пергамтәи Митридат напхгара ззиуаз архәҭақәа.
Абунтҟаҵаҩцәа ҳ. ҟ. 47 шықәса ажьырныҳәамза 15 рзы Мареотиатәи аӡиа азааигәара индырҵәеит, аҳ Птолемеи дыбналаны дышцоз Нил дӡааҟәрылеит. Арсиноиа дрытҟәеит, Цезар итриумфтә ныҟәара дытҟәаны далан. Уи ашьҭахь Цезари Клеопатреи еицны 400 ӷба рыла Нил ихылеит, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рацәаны имҩаԥыргеит. Клеопатра амчрахь дхынҳәит хәажәкырамза 27 рзы[11], егьи лашьа еиҵбы Птолемеи XIV формалла хаҵа диццеит, Римтәи апротекторат аҵаҟа иҟаз Мысра ииашаҵәҟьаны анапхгаҩыс дҟалеит. Апротекторат иахәдықәҵараны иҟалеит Мысра иаанрыжьыз х-легионк. Цезар данца ашьҭахь хара имгакәа, ҳ. ҟ. 47 шықәса рашәарамза 23 рзы, Клеопатра аԥа длоуеит, уи Птолемеи Цезар ҳәа ихьӡырҵеит, аха Цезарион ҳәа Александриаа ирҭаз ахьӡшьа ала аҭоурых дазынхеит[12]. Уи Цезар сахьалеи ртәашьалеи даара диеиԥшуп ҳәа азгәарҭон.
Рим аҟазаара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Цезар Понт аҳ Фарнак II диабашьуан, уи ашьҭахь Африка иҟаз Помпеи аҵыхәтәантәи идгылаҩцәа; аибашьрақәа анынҵәа иарзнакҵәҟьа, Клеопатреи лашьеи Римҟа иааԥхьоит (ҳ. ҟ. 46 шықәсазы, аԥхынра), формалла, Рими Мысреи рыбжьара аиҩызара рыбжьарҵарц азы. Клеопатра Тибр аԥшаҳәаҿы ибаҳчақәа ирҭалаҳан иҟаз Цезар ивилла лиҭеит, уаҟа лара илыдылкылон ҳаҭыр лықәҵара иазыццакны инеиуаз римаа дуқәа. Уи ареспубликанеццәа агәынамӡара рызцәырнаго иалагеит, насгьы Цезар иԥсра зырццакыз амзызқәа иреиуахеит. Уи моу, уҳәан-сҳәанны ирылалеит (Светони ииҳәаз, насгьы зегьы ргәалаҟазаара аазарԥшуаз акәны), Цезар Клеопатра аҩбатәи ԥҳәысыс дҟаиҵарц игәы иҭоуп, аҳҭнықалақь Александриаҟа иигарц иҭахуп ҳәа. Цезар ихаҭа адҵа ҟаиҵеит ахьӡы зхьыршаз Клеопатра лҳатәара Венера Ахацыркҩы лныҳәарҭаҿы идыргыларц (иара дызҵанакуаз Иулиаа рышьҭра, амиф ишаҳәоз ала, Венера илхылҵит). Ус шакәызгьы, Цезар иуасиаҭшәҟәы Цезарион иӡбахә ҳәа акгьы анӡамызт, убри алагьы уи иԥа шиакәыз шьақәимырӷәӷәаӡеит.
Асуверентә напхгара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Цезар дыршьит ачарҳәара иалҵшәаны ҳ. ҟ. 44 шықәса, хәажәкырамза 15 рзы. Мызкы ашьҭахь, мшаԥымза аҽеиҩшамҭаз, Клеопатра Рим аанлыжьит, ԥхынгәымзазы Александриаҟа дааит. Уи ашьҭахь хара имгакәа 14 шықәса зхыҵуаз Птолемеи XIV идунеи иԥсахит. Иосиф Флавии излеиҳәо ала, иаҳәшьа ашҳам илҭеит: аԥа данлыхша Клеопатра формалла ацнапхгаҩы длоуит. Ари аҭагылазаашьаҿы изызҳауаз лашьа зынӡа дмыцхәын.
ҳ. ҟ. 43 шықәсазы Мысра амлакра ҟалеит, ҩышықәса инеиԥынкыланы Нил аӡы хыҵуамызт. Аҳкәажә зегь раԥхьаӡа иргыланы дзызхәыцуаз лаҳҭнықалақь фатәыла аиқәыршәара акәын, ақалақьуаа агәамҵрақәа ирылагахьан. Иҭархаз Цезар иаанижьыз римтәи х-легионк, Мысра иҟанаҵ иаарҭахыз ҟаҵо игәаран.
Цезар дызшьыз ганкахьала Кассии Брути, даҽа ганкахьала иара иҭынхацәа Антонии Октавиани рыбжьара иҟалаз аибашьра аҳкәажә даламӡырц азы, ҟәыӷарыла лхы мҩаԥылгар акәын. Мрагылара Цезар дызшьыз рнапаҿы иҟан: Брут Бырзентәылеи Азиа Хәыҷи анапхгара рзиуан, Кассии Шьамтәыла дтәан. Кипр иҟаз Клеопатра лымчра ахаҭарнак Серапион Касси дицхрааит ԥаралеи аӷбақәеи рыла, ҳәарада аҳкәажә лақәшаҳаҭрала, римтәи лхылаԥшҩы дызшьыз рахь илымаз ацәаныррақәа зеиԥшразаалакгьы. Анаҩс лара официалла Серапион иҟаиҵаз мап ацәылкит. Даҽа ганкахьалагьы, Клеопатра ԥыҭрак ашьҭахь ишылҳәаз ала, ацезарианцәа дрыцхраарц азы аӷбақәа еиқәлыршәеит. ҳ. ҟ. 42 шықәсазы ареспубликанеццәа Филиппқәа рзааигәара иҭадырхеит. Аҭагылазаашьа Клеопатра лзы иаразнак аҽаԥсахит.
Клеопатреи Антонии
[аредакциазура | акод аредакциазура]Марк Антонии лареи реиқәшәара
[аредакциазура | акод аредакциазура]

Клеопатра 28 шықәса лхыҵуан ҳ. ҟ. 41 шықәсазы, 40 шықәса зхыҵуаз римтәи ар рԥызеи лареи анеибадыр. Антони, аҽыр рнапхгаҩык иаҳасабала, ҳ. ҟ. 55 шықәсазы Птолемеи XII иаҳра аиҭашьақәыргыларазы ақәгыларақәа дышрылахәыз дыруп, аха уи аамҭазы урҭ зеиқәымшәазар ҟалап, Аппиан жәабжьны еиҭеиҳәоит Антони 14 шықәса зхыҵуаз Клеопатра убри аамҭазы дигәаԥхахьан ҳәа[13]. Иҟалап урҭ еибадырзар аҳкәажә Рим даныҟаз аамҭазы, аха 41 шықәсазы еиқәшәаанӡа, ибзианы изеибадыруамызт.
Римтәи адунеи аихшараан, ареспубликанеццәа анықәырҳәа ашьҭахь, Антони Мрагылара ирҭеит. Антони Цезар ипроект наигӡарц иӡбеит — апарфианцәа дырҿагылан деибашьырц. Аибашьра иҽазыҟаҵо, иара Александриаҟа аофицар Квинт Делли ддәықәиҵоит, Клеопатра иара иахь Киликиаҟа днеирц адҵа лиҭоит. Цезар дызшьыз дрыцхраауан ҳәа лара ахара лыдирҵарц иҭаххеит, иҟалап уи ҽыҵгас иҟаҵаны, аибашьратә ныҟәаразы иахьынӡазалшоз аԥара лымихырц игәы иҭеикзар.
Клеопатра, Делли ила Антони иҟазшьа аҷыдарақәа зегьы еилылкааит, зегьы раԥхьаӡа иргыланы аҳәса бзиа ишибоз, ихы шьҭыхны дшыҟаз, адәахьтәи аԥшӡарақәа бзиа ишибоз. Арҭқәа анеилылкаа лара даалаган зыԥрақәа ҟаԥшьеиқәаз, араӡын зхьыршаз ажәҩақәа змаз, зыбзарқьал ахьӡы ахьыршаны иҟаз аӷба дақәтәан дизааит; лара лхаҭа Афродита лымаҭәа лышәҵаны дақәтәан, лыҩганкгьы рҿы Ерот еиԥшыз аҷкәын хәыҷқәа гылан, аӷба ныҟәырцон анимфқәа рымаҭәақәа зшәыз, лымаҵ зуаз аҭыԥҳацәа. Аӷба Кидн аӡиас ахылан ицон, афлеиҭақәеи акифарақәеи рыбжьы ссири, илаҳа-лаҳауа иҟаз афҩы хаақәеи рго. Анаҩс лара Антони даалыԥхьоит еиҿылкааз аныҳәатә еишәа ду ихы алаирхәырц азы. Арҭқәа зегьы збаз Антони иаразнакала Клеопатра игәы лызцеит. Аҳкәажә илыдырҵоз ахарақәа зегьы уадаҩрада мап рцәылкит. Серапион иҟаиҵақәоз ртәы ҳәа акагьы сыздырӡомызт ҳәа даақәгылеит, лара лхаҭа ацезарианцәа рыцхрааразы афлот шеиқәлыршәаз атәы ралҳәеит, аха уи афлот, рыцҳарас иҟалаз, аԥша ӷәӷәақәа ирыхҟьаны иаанкылан ҳәа азгәалҭеит. Антони Клеопатра игәы шлызцоз ашьақәырӷәӷәаразы, лара иҟалҵаз аҳәарала, Ефес иҟоу Артемида лныхабаа аҟны зҽыҵәахны итәаз лаҳәшьа Арсиноиа IV лышьразы адҵа ҟаиҵеит.

Абас ала иалагеит жәашықәса ицоз абзиабара аҭоурых, аҭоурых аҿы зегь реиҳа еицырдыруа иреиуақәоу — Антонии лареи реизыҟазаашьақәа рҿы, Клеопатра лпланқәа рынагӡаразы аполитикатә гәҭакы аҭыԥ ахьынӡамаз цқьа ишаҳзымдыруагьы. Иара иганахьала, Антони напхгара зиҭоз ар ду рныҟәгара злаилшоз Мысратәи аԥарақәа рыла акәын.
Лагьидаа рҳәынқарра аиҭашьақәыргылара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Антони, ир ааныжьны, Клеопатра длышьҭаланы Александриаҟа дцеит, уаҟа ҳ. ҟ. 41—40 шықәсқәазтәи аӡын ихигеит, арыжәтәи агәырҿыхарақәеи иҽрыдцало. Клеопатра лакәзар, иахьынӡалылшоз иара длыдҿалҳәаларц лҽазылшәон.
Плутарх еиҭеиҳәоит:
Лара иара абаҩқәа рыла дицхәмаруан, еицрыжәуан, еицышәарыцон, абџьарқәа рыла иҽаназыҟаиҵоз ахәаԥшцәа дрылахәын, уахынла иара атәы имаҭәа ишәҵаны ақалақь даналаз, аҩнқәа рышәқәеи рԥенџьырқәеи рҿы дааҭгыланы аԥшәмацәа, малла еиҩцамыз ауаа данрыхлафуаз, Клеопатрагьы иара дишьашәаланы лҽеибыҭаны дицын»
Ҽнак Антони, Клеопатра илаз аԥсыӡкратә ҟазарала диршанхарц игәы иҭакны, иааиԥмырҟьаӡакәа аԥсыӡ ҿыцқәа иҵәгәыр иахарҵаларц азы аӡхәыҵалаҩцәа драцәажәеит; Клеопатра, уи иаҩсҭаара иаразнак еилылкаан, ларгьы аӡхәыҵалаҩцәа драцәажәеит, Антони иҵәгәыр ирҩаны иҟоу аԥсыӡ ахарҵарц азы.

Урҭ хәмаруанаҵы, апарфианцәа раҳ иԥа Пакор ажәылара далагеит, уи иахҟьаны Рим Шьамтәылеи, Азиа Хәыҷи, Киликиеи ацәыӡит. Антигон Маттафии, Хасмонеиаа (Маккавеиаа) рдинастиа аҟынтә римаа ирҿагылаз аҳ иԥа, апарфианцәа Иерусалимтәи аҳра иҭыԥ аҿы днаргеит. Марк Антони Тирынтәи аамҭа кьаҿк ала аҿагыларатә жәылара мҩаԥигеит, аха нас Римҟа дхынҳәыр акәхеит, уаҟа иԥҳәыс Фульвиеи Октавиан идгылаҩцәеи реиҿагылара ашьҭахь, Брундизиа аҭынчразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Иҟалаз аиҿагыларақәа Фульвиа илхаран, Плутарх излеиҳәо ала, убас ала лара дгәыӷуан Антони Клеопатра дылҟәылгап ҳәа.
Уи аамҭазы Фульвиа лыдунеи лыԥсахит, Антони Октавиан иаҳәшьа Октавиа ԥҳәысс дигеит. Убри аамҭазыҵәҟьа, ҳ. ҟ. 40 шықәсазы, Александриа инхоз Клеопатра Антони иҟынтә еициз ҩыџьа ахшара лхылҵит: аҷкәын Александр Гелиос («Амра»), аӡӷаб Клеопатра Селена («Амза»).
Хышықәса ирылагӡаны ҳ. ҟ. 37 шықәса ҭагаларанӡа аҳкәажә илызку адыррақәа ыҟам. Антони Италиантәи даныхынҳә ашьҭахь, бзиа еибабоз Антиохиа еиқәшәоит ҭагалан 37 шықәсазы, убри аамҭа инаркны рполитикеи рыбзиабареи рҿы аетап ҿыц алагоит. Антони илегат Вентидии апарфианцәа ықәицеит; Антони апарфианцәа рхаҭарнакцәа иара ихатәы вассалцәа рыла иԥсахуеит, мамзаргьы Римынтәи ишиашоу напхгара ҟаиҵоит. Убас, еицырдыруаз Ирод, иара ицхыраарала, Иудеиа аҳыс дҟалоит. Убасҵәҟьа иҟалеит Галатиеи, Понти, Каппадокиеи. Арҭқәа зегьы Клеопатрагьы афеида алылгоит, избанзар лара Кипр шылтәу шьақәырӷәӷәахоит, иара убасгьы Адгьылбжьаратәи амшын аԥшаҳәаҿы иҟоу шьамтәылатәии киликиатәии ақалақьқәа, иахьатәи Ливан иҟоу Халкидика аҳра азы лзинқәа шьақәдырӷәӷәоит. Убас ала, лара илылшеит раԥхьатәи Птолемеиаа рҳәынқарра ахәҭакахьала аиҭашьақәыргылара.
Клеопатра лаҳратәра аера ҿыц абри аамҭа инаркны ишалагаз атәы адокументқәа рҿы иарбазарц адҵа ҟалҵеит. Лара лхаҭа аофициалтә титул лыдылкылеит Θεα Νεωτερα Φιλοπατωρ Φιλοπατρις (Феа Неотера Филопатор Филопатрис), даҽакала иуҳәозар, «анцәарҭыԥҳа еиҵбы, аби аԥсадгьыли бзиа избо». Атитул рзырхан ирыдҵахаз шьамтәылаа, урҭ Птолемеиаа ршьа злаз аҳкәажә (анцәарҭыԥҳа еиҳабы) Клеопатра Феа дрыман ҳ. ҟ. II-тәи ашәышықәсазы; ари атитул, аҭоурыхдырҩцәа ргәаанагарала, иара убас иаанарԥшуан Клеопатра Македониатәи ашьаҭақәа шлымазгьы, уи Шьамтәыла напхгара азҭоз абырзен-македониатәи акласс азы акры зҵазкуаз аргументын.
Антонии Клеопатреи рхәыҷқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]

ҳ. ҟ. 37—36 шықәсқәа рзы Антони апарфианцәа дырҿагыланы аибашьра далагеит, уи арыцҳара ду ахылҿиааит, еиҳарак Ермантәылеи Мидиеи рышьхақәа рҿы аӡын ӷәӷәа ахьыҟаз иахҟьаны. Антони ихаҭа аарла аԥсра дацәынхеит.
Клеопатра Александриа даанхеит, уаҟа ҳ. ҟ. 36 шықәса цәыббрамзазы Антони иҟынтә ахԥатәи ахшара длоуит — Птолемеи Филадельф. Рим Антонии Клеопатреи рхы ахьеидыркылаз аимпериеи, хаҭала Октавиани рзы шәарҭара дууп ҳәа рыԥхьаӡо иалагеит. Аҵыхәтәантәи, ҳ. ҟ. 35 шықәса ааԥын алагамҭазы, иаҳәшьа Октавиа, Антони закәанлатәи иԥҳәыс, иԥҳацәа ҩыџьа ран —Антониа Еиҳабы (аԥхьаҟа императорхараны иҟаз Нерон ианду) Антониа Еиҵбы (аԥхьаҟа Германики аимператор Клавдии иранхаран иҟаз) — лхаҵа ишҟа дишьҭит. Аха лара Афины дышнеиҵәҟьаз, Антони иаразнак дхынҳәырц лыдиҵит. Уи аӡбамҭа Клеопатра илыхҟьеит, избанзар лара Антони уԥҳәыс дудыукылар сҽысшьеит ҳәа диқәмақарит.
Антони парфианцәеи иареи реибашьраҿы дахьаҵахаз азы ашьоура иҭахын: ҳ. ҟ. 35 шықәсазы Ермантәыла аҳ Артавазд II дытҟәаны дигеит, егьи Артавазд — Мидиа Атропатены аҳи иареи аиҩызара рыбжьарҵеит, итриумф азгәеиҭеит, аха Рим акәымкәа, Александриа, Клеопатреи еицырхылҵыз рхәыҷқәеи алархәны. Ԥыҭрак ашьҭахь, Цезарион аҳцәа рҳ ҳәа атитул иоуит; Александр Гелиос Ермантәылеи Евфрат анаюстәи адгьылқәеи раҳыс дыԥхьаӡахеит, Птолемеи Филадельф Шьамтәылеи Азиа Хәыҷи иоуит (номиналла, избанзар ҩышықәса инарзынаԥшуа ихыҵуан), аҵыхәтәаны, Клеопатра Селена II илырҭеит Киренаика.
Арҭ атерриториақәа зегьы Антони ииашаҵәҟьаны инапы аҵаҟа иҟамызт. Иосиф Флавии ишиҳәо ала, Клеопатра Иудеиагьы лҭахын, аха Антони мап лцәикит; аха ари ажәабжь агәыҩбара узцәырнагоит.
Адгьылқәа ршара иазкыз ажәабжь Рим ӷәӷәала ргәы ԥнажәеит; Антони Римтәи аҵасқәа зегьы еилаганы, еллинтәи аҳәынқар иеиԥш ихы мҩаԥиго далагеит.
Аилаҳара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Акциумтәи аибашьра
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Акциумтәи аибашьра
Антони макьанагьы асенати ари рҿы иҳаҭыр ӷәӷәан, аха Мрагыларатәи -еллинтәи аҟазшьақәа аазырԥшуаз ихымҩаԥгашьақәа, римтәи анормақәеи атрадициатә идеиақәеи ирҿагылон, иара ихала Октавиан ииҭеит иҿадыргылашаз абџьар. ҳ. ҟ. 32 шықәсазы аграждантә еибашьраҿынӡа инеит. Убри аан Октавиан уи «Римтәи ажәлар Мысратәи аҳкәажә илҿагыланы имҩаԥырго еибашьроуп» ҳәа рылеиҳәеит. Римтәи ар рԥыза тәыс дҟазҵаз мысратәи аԥҳәыс, Рими уи ацәаҩа бзиақәеи ирыцәтәыму мрагыларатәии, еллинтәи-аҳратә цәырҵра бааԥсқәи дырхыҵхырҭаны даадырԥшуа иалагеит.

Антонии Клеопатреи аибашьразы 500 ӷба змаз афлот рхианы ирыман, урҭ рҟынтә 200 мысратәиқәан. Антонии Клеопатреи еиманы изеиҩсуаз абырзен қалақьқәа зегьы рҿы қьаф уа иқәын, аныҳәарақәа мҩаԥго, иара дкалышь-малышьуа акәын дшеибашьуаз, убриалагьы Октавиан аибашьцәеи амшынтә флоти реиҿкааразы аамҭа ииҭон. Антони Бырзентәыла мраҭашәаратәи аԥшаҳәахьы архәҭақәа еизигонаҵы, Октавиан иаарласны Епирҟа дцеит, Антони уаҟа иабашьра далагеит.
Клеопатра Антони ир ргыларҭаҿы дахьыҟаз, лгәы ԥызжәоз зегьы рзы иааиԥмырҟьаӡакәа ацәгьа ахьлыршуаз, Антони даара иԥырхагахеит, уи иахҟьаны идгылақәоз аӡәырҩы аӷа иганахь ииасит. Иҟазшьарбагоуп Антони гәыкала идгылаз Квинт Делли иҭоурых, уи Октавиан иахь диасыр акәхеит, избанар Клеопатра илхиҳәааз алаф лаҳаҭыр ланарҟәит ҳәа ԥхьаӡаны, ашҳам иҭан дылшьырц лгәы ишҭаз иазкны адырра иоуит. Октавиан иахь ииасқәаз Антони иуасиаҭ ажәақәа ртәы изеиҭарҳәеит; уи иаразнак иахьыҵәахыз Веста лыныҳәарҭа аҟынтәи иганы иҭрыжьит. Антони официалла Клеопатра иԥҳәыс шлакәыз шьақәирӷәӷәон, лԥацәа изакәантәу ихшарақәа шраку, насгьы Рим акәымкәа, Клеопатра лывара Александриа анышә дамардарц уасиаҭны иаанижьит. Антони иуасиаҭ зынӡа ихьӡ ланарҟәит Римаа рҿаԥхьа.
Октавиан, ар рԥыза дук иакәмызт, убри аҟынтә далихит Марк Випсани Агриппа, аибашьра қәҿиарала имҩаԥызгоз, аԥышәа змаз ар рԥыза. Агриппа илиршеит Амбракиатәи аӡыбжьахала аҟны Антонии Клеопатреи рфлот акәшара. Урҭ рыруаа афатә рзымхо иалагеит. Клеопатра мшынла раӷа иӷбақәа ԥыхха иқәҵаны рхы еиқәдырхарц лҭаххеит. Арратә хеилак аҿы ари агәаанагара аԥыжәара агеит. Уи иалҵшәаны Акциум амшынтә еибашьра ҟалеит ҳ. ҟ. 31 шықәса цәыббрамза 2 рзы. Убасҟан Клеопатра даҵахар ҳәа дшәаны лыӷбақәа лыманы дыбналарц лыӡбеит. Антони уи длышьҭалеит. Ирҟәаҟәаз ифлот Октавиан инапахьы иааигеит, уи ашьҭахь згәы каҳаны иҟаз адгьылмҩатә архәҭақәагьы еибашьрада рабџьар шьҭарҵеит.
Антонии Клеопатреи рҭахара
[аредакциазура | акод аредакциазура]
- Ихадароу астатиа: Клеопатра лыҽшьра
Антони Мысраҟа дхынҳәит, Октавиан иҿагыларазы акгьы ҟаимҵеит. Аха уи азы иара алшарақәагьы имамызт. Иара имчқәа арыжәтәи аныҳәақәеи ирықәирӡуан, насгьы Клеопатреи иареи «Аҽшьыҩцәа рхеилак» шаԥырҵо атәы рыларҳәеит, уи алахәылацәа ҳаицыԥсуеит ҳәа ҭоуба ҟарҵеит. Рҩызцәагьы уи ахеилак иалалар акәхеит. Клеопатра абаандаҩцәа рҿы еиуеиԥшым ашҳамқәа злоу ахәшәқәа ԥылшәон, иарбан шҳаму еиҳа ирласны, ахьаа умҭаӡакәа узшьуа аилкааразы. Клеопатра Цезарион иеиқәырхара даара хьаас илыман. Иара Индиаҟа ддәықәылҵеит, аха ԥыҭрак ашьҭахь ахәыҷы Мысраҟа дхынҳәуеит. Аамҭак азы лара лхаҭагьы Индиаҟа абналара лгәы иҭалкит, аха аӷбақәа Суецктәи аӡымҩахгага иахысны ицарц ианалага, арабцәа ирблит. Урҭ апланқәа мап рцәыркыр акәхеит.

ҳ. ҟ. 30 ашықәс, ааԥынразы Октавиан Мысра дақәлеит. Клеопатра ачарҳәара лҽацәылыхьчарц лҽазылшәо далагеит гәымбылџьбарала: Пелусиа акомендант Селевк абаа аӷацәа ианриҭа, иԥҳәыси ихәыҷқәеи ршьырц адҵа ҟалҵеит. Ԥхынгәымза анҵәамҭазы Октавиан ируаа Александриа азааигәаранӡа иааит. Антони ир аҟынтә иаанхаз ахәҭақәа акакала еишьҭагыланы, аиааира згаз иахь ииасуа иалагеит.
Нанҳәамза 1 азы Клеопатра, зыгәра лгоз лмаҵуҩҳәсақәа Ирадеи Хармиони лыманы, лхатә кардама ахыбра лҽыҩнакны дтәеит. Антони лҽылшьит ҳәа амц дыржьеит. Антони ари аниаҳа, аҳәа илеиҵеит. Дук мырҵыкәа, аҳәса зыԥсы зхыҵуаз Антони акардама дҭаргалеит, иқьызқьызуа иҵәыуоз Клеопатра лнапаҟны иԥсҭазаара далҵит. Клеопатра лакәзар, аҟама кны днагылеит, аԥсра дшазхиоу аарԥшуа, аха анаҩс Октавиан ицҳаражәҳәаҩ иацәажәара далагеит. Уи акардама ахыбра аҭалара азин илҭеит, насгьы илкыз абџьар лымихит. Иҟалап Клеопатра Октавиан дхылхырц дгәыӷуазҭгьы, мамзаргьы еиқәшаҳаҭны аҳра лзынижьуа џьылшьозҭгьы. Аха Октавиан Цезари Антонии раасҭа иҽирӷәӷәеит, ихыхрагьы лылымшеит.
Клеопатра аҵыхәтәантәи лымшқәа ртәы Плутарх иԥкааны дрылацәажәоит, лҳақьым Олимп игәалашәарақәа ихы иархәаны. Октавиан Клеопатра азин лиҭеит бзиа илбоз анышә дамалдарц; лхатә лахьынҵа еилкаамызт. Лара дычмазаҩушәа ҟалҵеит, насгьы амла лҽаркны лхы лшьуашәа далагеит, аха Октавиан бхәыҷқәа ҭасырхоит ҳәа данлықәмақар, илыдыргалоз ахәышәтәра рыжәра дакәшаҳаҭеит.
Мшқәак рышьҭахь, Цезар (Октавиан) ихаҭа Клеопатра дылҭааит, маҷк лгәы ирҭынчырц азы. Лара лгәы кажьны, лылахь еиқәҵаны лиарҭа дылаиан, Цезар лышә аҿы данаацәырҵ, ахитон заҵәык шылшәыз дҩаҵҟьан, днаиашьаԥкит. Акыраамҭа илмырҽеицыз лыхцәқәа шьыҵәра -шьыҵәра икнаҳан, лхы-лҿы бнеикны иҟан, лыбжьы ҵысуан, лыблақәа ҭахәаҽын.[14]

Октавиан Клеопатра лгәы шьҭызхуаз ажәақәа налаҳәаны дцеит.
Дук мырҵыкәа Клеопатра бзиа дызбоз римтәи аофицар Корнели Долабелла илеиҳәеит, хымш рышьҭахь Октавиан итриумф азы лара Римҟа дышдәықәырҵо. Клеопатра Октавиан заа изылҩыз ашәҟәы ирҭарц азы адҵа ҟаҵаны, лмаҵуҩҳәсақәа лыманы лкардама лҽыҩналкит. Октавиан ашәҟәы иоуит, уи аҟны Клеопатра дашшуан, насгьы Антони ивара анышә дамардарц азы аҳәара ҟалҵон. Октавиан иаразнак лара лышҟа ауаа дәықәиҵеит. Иишьҭыз ауаа Клеопатра дыԥсны дырбеит, лара аҳқәажә лымаҭәақәа лышәҵаны ахьтәы цәардаӷәы дықәын. Уаанӡа алаҳақәа зҭаз ааҵәа иманы нхаҩык длызнеит, ахьчаҩцәа уи иганахь гәҩара рызцәырымҵӡеит. Убри инамаданы анхаҩы ааҵәа амаҭ ҭартәаны Клеопатра илызнеигеит ҳәа агәаанага аадырԥшит. Аҳкәажә лнапаҿы ацҭыԥқәа ҩба аарла иубарҭан рҳәон. Амаҭ ахаҭа ауадаҿы ирымбаӡеит, иаразнак аҳҭынра ааныжьны иҳәазаны ицазшәа.
Даҽа версиак инақәыршәаны, Клеопатра ашҳам лыхцәы иалалҵоз ашьыԥлика аҿы иҵәахны илыман. Ари аверсиа шьақәзырӷәӷәо фактуп Клеопатра лмаҵуҩҳәсақәа рҩыџьагьы лара иахьлыцыԥсыз. Маҭык хҩык ауаа знык ала иашьит ҳәа агәрагара уадаҩуп. Дион Касси излеиҳәо ала, Октавиан Клеопатра апсиллцәа рыцхыраарала лыԥсы ҭеиҵарц иҽазишәеит, дара ашҳам алцәыцәаара рхы ԥырхага амҭакәа изылшоз аекзотикатә жәлары рхаҭарнакцәа ракәын.
ҳ. ҟ. 30 ашықәс, нанҳәамза 12 рзы Клеопатра лыԥсҭазаара дахьалҵыз иалҵшәаны Октавиан Рим имҩаԥигоз итриумф дизаламырхәит иитҟәарц ииҭахыз аҳкәажә ԥшӡа. Атриумфтә ныҟәараҿы лҳаҭәара заҵәык акәын иргоз.
Цезар ииааӡаз Октавиан Клеопатреи Цезари рԥа Птолемеи XV Цезарион иара убри ашықәс азы дҭаирхеит. Антони ихәыҷқәа азынџьырқәа рыла иҿаҳәаны атриумфатор ипарад иаладырхәит, анаҩс урҭ Октавиан иаҳәшьа Октавиа, Антони иԥҳәыс, «лхаҵа игәалашәара аҳаҭыразы» илааӡеит. Аамҭа анца, Клеопатра лыԥҳа Клеопатра Селена II ԥҳәысс дирҭеит амавританиатәи аҳ Иуба II, убас алагьы Шершельтәи Клеопатра лбиуст аԥҵахеит.
Александр Гелиоси Птолемеи Филадельфи рлахьынҵа еилкаамкәа иаанхеит. Урҭ заа иԥсит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.
Мысра Римтәи апровинциақәа ируакхеит.
Клеопатра лкардама ыҟоуп ҳәа иԥхьаӡоу аҭыԥқәа иреуоуп Тапосирис Магна (иахьатәи Абусир) аныҳәарҭа азааигәара. Осирис иныхабаа Александриа инаркны 45 километра мраҭашәарахь игылоуп, уи дыргылеит аҳ Птолемеи II ихаан. Ари иԥшьоу ҭыԥуп- алегенда инақәыршәаны Осирис иԥсыбаҩ анышә иахьамадоу аҭыԥқәа иреиуоуп. 2009 шықәса ааԥынразы, Мысратәи ажәытә ҭынхақәа рзы усҟан министрс иҟаз Заҳи Ҳавасс амассатә информациатә хархәагақәа ирылеиҳәеит, аныхабаа аҟны радарла имҩаԥыргаз аҭыхрақәа ирыбзоураны, 120 метра зкуа, ԥслымӡла иҭәыз атунель аҵарауаа ишырыԥшааз. Ажрақәа раан ирыԥшааит аԥҳәыс лҳатәара, иҟалап уи илегендартәу Клеопатра лакәзар, лара аҳра анылуаз иҭыжьыз ҳәа иԥхьаӡоу аԥара ҿырпқәа, иара убас даныԥсы ашьҭахь иҟаҵаз ахаҵа имаска, иҟалап уи Марк Антони итәызар. Аха,ари аҩыза оптимизм шыҟазгьы (2006 шықәса, абҵарамзазы Заҳи Ҳавасс ажурналистцәа иреиҳәеит: «ҳара Клеопатра лкардама ҳашьҭоуп. Ҳара ҳаԥхьа, Мысра аҵыхәтәантәи аҳкәажә лыԥсыжырҭа системала аԥшаарақәа аӡәгьы имҩаԥимгацызт» ҳәа), Клеопатра лкардама (Марк Антони итәы еиԥш) уажәраанӡагьы иԥшааӡам. Ари аныхабаа ааигәарагьы, егьырҭ аҭыԥқәа рҿгьы. Зҵыхәтәа цәгьахаз абзиабаҩцәа дуқәа ркардамақәа рыԥшаара иацҵоуп.
Клеопатра акультураҿы
[аредакциазура | акод аредакциазура]Амузыкеи адрамеи
[аредакциазура | акод аредакциазура]- «Антонии Клеопатреи» — Уильиам Шекспир итрагедиа (1603—1604 мамзаргьы 1607).
- «Помпеи иԥсра» — Пиер Корнель итрагедиа (1643).
- «Клеопатра» — Иоганн Маттезон иопера (1704).
- «Клеопатра» — Франц Пиониц иопера (1888).
- «Цезари Клеопатреи» — Бернард Шоу ипиеса (1898).
- «Мысратәи аҵхқәа» — М. М. Фокин ибалет (1908).
- «Клеопатра» — М. М. Фокин ибалет (1909, «Мысратәи аҵхқәа» рҟынтәи иеиҭашьақәыргылоу).
- «Клеопатра» — Жиуль Массне иопера (1914).
- «Клеопатра» — абаллада (1989) насгьы авидеоклип (1991), Азиза иналыгӡо, Маргарита Пушкина лажәеинраала, амузыка Елена Ванина[15][16].
- «Цезари Клеопатреи» — А. Журбин имиузикл (2010).
- «Антонии Клеопатреи» — Семиуел Барбер иопера (1966).
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- «Клеопатра» — Александр Сергеи-иԥа Пушкин иажәеинраала (1824, 1828 шықәсазтәи аредакциаҿы еиҳарак «Мысратәи аҵхқәа» ртекст иалаҵоуп).
- «Клеопатра ирылҭаз аҵх» — Теофиль Готие иновелла (1845).
- «Клеопатра» — Георг Еберс иҭоурыхтә роман (1893).
- «Клеопатра» — Генри Раидер Хаггард ироман (1898).
- «Клеопатра» («Сара Клеопатра, сара саҳкәажәын…») — Валери Иаковлев-иԥа Бриусов иажәеинраала (1899).
- «Клеопатра» («Мап, атәы иеиԥш аџьар сықәырҵом…») — Валери Иаковлев-иԥа Бриусов иажәеинраала (1905)
- «Клеопатра» («Зылахь еиқәу апаноптикум аартуп…») — Александр Александр-иԥа Блок иажәеинраала (1907).
- «Клеопатра» — Анна Андреи-иԥҳа Ахматова лажәеинраала (1940).
- «Клеопатра лымшынҵақәа» — Маргарет Џьорџь лҭоурыхтә роман (1997)
- «Зеиӷьыҟам» — Ирен Фреи Клеопатра илызку лышәҟәы (1998); урысшәала еиҭагоу «Клеопатра, мамзаргьы Зеиӷьыҟам» ҳәа захьӡу ҭыҵит ЖЗЛ ҳәа изышьҭоу асериаҿы (2001).
- «Аҳцәа раҳкәажә» — аҭоурыхтә фентези астиль ала иҩу Мариа Хедли лроман (2011).
Асахьаҭыхратә ҟазара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Клеопатра лхаҿсахьақәа изныкымкәа асахьаҭыхреи аҿыханҵеи рҿы иаадырԥшхьеит, еиҳарак XVI—XIX-тәи ашәышықәсақәа рзы.
Еиҳа ирылаҵәахьоу асиужетқәа иреиуоуп «Клеопатра лыԥсра[fr]» мамзаргьы «Аԥсра иаҿу Клеопатра». Еиҳарак асахьаҿы даарԥшуп ихту ма зыбжа хту аԥҳәыс, згәыԥҳәқәарахь амаҭ назго; еиҳа имаҷны Клеопатра даадырԥшуеит амаҭ анлыцҳа ашьҭахь ацәардаӷәы дықәианы, мамзаргьы аҳқәажә лтәарҭаҿы.
-
Иҟалап Клеопатра лпортреҭ акәзар, Абаҳчатә ҩны аҟны, ақалақь Помпеи, ҳара ҳера I-тәи ашәышықәса абжаразы
-
«Аҳкәажә Клеопатреи аҳ Филопони», Манасси ихроника (Ватикантәи асиа, XIV-тәи ашәышықәса)
-
Антонии Клеопатреи ркардама(1409)
-
«Антонии Клеопатреи» (1474)
-
«Антонии Клеопатреи», Боккаччо Боккаччино (1474)
-
«Клеопатра лыԥсра», Жан Пишор (1504)
-
«Аԥсра иаҿу Клеопатра», Иан ван Скорел (1523)
-
«Клеопатра лыԥсра», Џьампетрино (1524-1526)
-
«Клеопатра», Микеланџьело Буонарроти (1533/34)
-
«Клеопатра лыԥсра», Гвидо Рени (1595—1598 инарзынаԥшуа)
-
«Клеопатра лыԥсра», Орацио Џьентилески (1613 инарзынаԥшуа)
-
«Клеопатра лыԥсра», Гвидо Каньиаччи (1645)
-
«Клеопатра лыԥсра», Андреа Ваккаро (1630—1670)
-
«Клеопатра лыԥсра», Антуан Риваль (1715)
-
«Клеопатра», Иакоб Фреи (1720)
-
«Клеопатра лпортреҭ», Елизабет-Софи Шерон (1736)
-
«Клеопатра лыԥсра», Ганс Макарт (1875)
-
50 мысратәи апиастрқәа (2007)
Егьырҭ еицырдыруа асиужетқәа: «Клеопатреи Цезари» иара убас «Клеопатреи Антонии».
Урыстәылатәи амузеиқәа рколлекциақәа рҿы иҟоуп еицырдыруа усумҭақәак:
- «Клеопатра лыԥсра» — Пиер Миниар исахьаҭыхымҭа (XVII); Аҳәынҭқарратә Ермитаж.
- «Клеопатра лыԥсра» — Романо Тревизани ҳәа изышьҭаз Франческо исахьаҭыхымҭа (1710-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа); А. С. Пушкин ихьӡ зху асахьаҭыхратә ҟазарақәа рмузеи.
- «Аԥсра иаҿу Клеопатра» — Иван Петр-иԥа Аргунов исахьаҭыхымҭа (1750); Третьиаков ихьӡ зху аҳәынҭқарратә галереиа.
- «Клеопатра лчаражәра» — фламандиатәи асахьаҭыхҩы Иакоб Иорданс исахьаҭыхымҭа (1653); Аермитаж.
Клеопатра акино аҟны
[аредакциазура | акод аредакциазура]Клеопатра илызкуп акинофильмқәа рацәанык:
- Клеопатра / Cléopâtre (Франциа, 1899) — абжьы зхам аԥшшәы шкәакәеи аиқәаҵәеи рыла иҟоу афильм, арежиссиор Џьорџь Мельес, Жанна Д’Альси Клеопатра лроль налыгӡоит.
- Антонии Клеопатреи / Antony and Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1908) — абжьы зхам аԥшшәы шкәакәеи аиқәаҵәеи рыла иҟоу афильм, арежиссиор Чарльз Кент, ароль налыгӡоит Флоренс Лоуренс.
- Клеопатра / Cléopâtre (Франциа, 1910) — абжьы зхам, аԥшшәы шкәакәеи аиқәаҵәеи рыла иҟоу афильм, Уильиам Шекспир ипиеса «Антонии Клеопатреи» инақәыршәаны иқәыргылоу, арежиссиорцәа: Фердинанд Зекка ароль налыгӡоит.
- Клеопатра / Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1912) — абжьы зхам, аԥшшәы шкәакәеи аиқәаҵәеи рыла иҟоу афильм, арежиссиор Чарльз Л. Гескилл, ароль налыгӡоит Хелен Гарднер.
- Марк Антонии Клеопатреи / Marcantonio e Cleopatra (Италиа, 1913) — абжьы зхам, аԥшшәы шкәакәеи аиқәаҵәеи рыла иҟоу афильм, арежиссиор Енрико Гуаццони, роль хада- Џьанна Террибили-Гонсалес,
- Клеопатра / Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1917) — абжьы зхам, аԥшшәы шкәакәеи аиқәаҵәеи рыла иҟоу афильм, арежиссиор Џьеимс Гордон Едвардс, ароль налыгӡоит Теда Бара, афильм ыӡит ҳәа иԥхьаӡоуп.
- Антони Клеопатреи / Anthony and Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1924) — арежиссиор, ароль наигӡоит.
- Клеопатра / Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1928) — арежиссиор Рои Уильиам Нил, ароль налыгӡоит Дороти Ревиер.
- «Oh! Oh! Cleopatra» (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1931). Ароль аҿы.
- Клеопатра / Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1934) — Оскар аноминант, арежиссиор Сесил Блаунт Демилль, Клодетт Кольбер ароль налыгӡоит
- Клеопатра / كليوباترا (Мысра, 1943) — арежиссиор Ибрагим Лама, ароль наигӡоит Амина Ризк
- Цезари Клеопатреи / Caesar and Cleopatra (Британиа Ду, 1945) — арежиссиор, Вивиен Ли лроль налыгӡоит
- Антонии Клеопатреи рхатә ԥсҭазаара / La vida íntima de Marco Antonio y Cleopatra (Мексика, 1947) — арежиссиор Роберто Гавальдон, ароль наигӡоит Мариа Антонелла Понс
- Антонии Клеопатреи / Antony and Cleopatra (Британиа Ду, 1951) — Паулин Летс лроль налыгӡоит
- Клеопатра ҩ-ҵхык лыцымҩаԥгара / Due notti con Cleopatra (Италиа, 1953) — арежиссиор Марио Маттоли, Софи Лорен лроль налыгӡоит
- Нилтәи амаҭ / Serpent of the Nile (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1953) — арежиссиор Уильим Касл, ароль налыгӡоит Ронда Флеминг
- Ауаатәыҩса рҭоурых / The Story of Mankind (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1957) — арежиссиор Ирвин Аллен, роль хадас иамаз Вирџьиниа Меио
- Клеопатра ллегионқәа / Le legioni di Cleopatra (Италиа, Франциа, Испаниа, 1959) — арежиссиор, ароль хада- Линда Кристал
- ателесериал. Асериа «Caesar and Cleopatra» (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1959). Ароль налыгӡоит Паипер Лори
- Антони Клеопатреи / Antony and Cleopatra (Австралиа, 1959) — арежиссиор, Бетти Кауфман ароль налыгӡоит
- Цезар изы аҳкәажә / Una regina per Cesare (Франциа — Италиа, 1962) — арежиссиор, ароль наигӡоит.
- Клеопатра / Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1963) — Оскар аноминант, арежиссиор Џьозеф Лео Манкевич, Елизабет Теилор ароль налыгӡоит
- Антонии Клеопатреи / Antonius und Cleopatra (ГФР, 1963) — арежиссиор, ароль наигӡоит Лола Миутель
- Тотои Клеопатреи / Totò e Cleopatra (Италиа, 1963) — арежиссиор Фернандо Черкио, Магали Ноель лроль налыгӡоит
- Ауарба аларҵәара / The Spread of the Eagle (Британиа Ду, 1963) — арежиссиор, ароль наигӡоит Мери Моррис
- Ус ҟаҵала, Клео! / Carry On Cleo (Британиа Ду, 1964) — арежиссиор, ароль наигӡоит Аманда Бҽрри
- Антонии Клеопатреи / Antonio e Cleopatra (Италиа, 1965) — арежиссиор, ароль наигӡоит Валериа Валери
- Сара, Клеопатреи Антонии / Η Κλεοπάτρα ήταν Αντώνης (Грециа, 1966) — ароль наиӡоит Ставрас Паравас
- Антонии Клеопатреи / Antoine et Cléopâtre (Франциа, 1967) — арежиссиор, Жиудит Магр лроль налыгӡоит
- Астерикси Клеопатреи / Astérix et Cléopâtre — амультипликациатә фильм (Франциа, Бельгиа, 1968), Клеопатра абжьы лхалҵеит Мишлин Дакс
- Cleopatra / クレオパトラ — аеротикатә аниме (Иапониа, 1970), Клеопатра абжьы лхалҵеит Тинацу Накаиама
- Клеопатра / Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1970) — арежиссиор, ароль наигӡоит Вива
- Антонии Клеопатреи / Antony And Cleopatra (Британиа Ду, Испаниа, Швеицариа, 1972) — арежиссиор Чарлтон Хестон, ароль наигӡоит Хильдегард Нил
- Антони Клеопатреи/ Antony and Cleopatra (Британиа Ду, 1974) — арежиссиор Jon Scoffield, Џьанет Сазман лроль налыгӡоит
- Антонии Клеопатреи — абалеттә фильм (СССР, 1977), Алла Осипенко лроль налыгӡоит
- Цезари Клеопатреи — ателеспектакль (СССР, 1979), Елена Коренева лроль налыгӡоит
- Антонии Клеопатреи — ателеспектакль (СССР, 1980), Иулиа Борисова лроль налыгӡоит
- Антонии Клеопатреи / Antony and Cleopatra — (Британиа Ду, 1981) — арежиссиор Џьонатан Вулф Миллер, Джеин Лапотеир лроль налыгӡоит
- Антонии Клеопатреи / Antony and Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1984) — арежиссиор, ароль налыгӡоит Линн Редгреив
- Салам џьаҳанымҟа амҩа аҟынтә / Highway to Hell (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1992) — арежиссиор, ароль налыгӡоит Amy Stiller
- Клеопатра леротикатә ԥхыӡқәа / Sogni erotici di Cleopatra (Италиа, Франциа, 1996) — Марчелла Петрелли лроль налыгӡоит
- Зена — аибашьцәа рҳкәажә / Xena: Warrior Princess — ателесериал (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1997), Џьина Торрес лроль налыгӡоит
- Клеопатра / Cleopatra — (Еиду Америкатәи Аштатқәа, Германиа, 1999), Леонор Варела лроль налыгӡоит
- Астерикси Обеликси: «Клеопатра» амиссиа / Astérix & Obélix: Mission Cléopâtre — (Франциа, Германиа, 2002), арежиссиор Ален Шаба, ароль налыгӡоит Моника Беллуччи
- Иули Цезар / Julius Caesar — (Нидерланды, Италиа, Германиа, Еиду Америкатәи Аштатқәа, 2002), арежиссиор Ули Едель, ароль наигӡоит Самуела Сардо
- Каннаки (Клеопатра) / കണ്ണകി (Индиа, 2002) — арежиссиор, Нандита Дас лроль налыгӡоит
- Римтәи аимпериа. Август / Imperium: Augustus (Германиа, Италиа, Испаниа, Австриа, Франциа, Британиа Ду, 2003) — арежиссиор Роджер Ианг, ароль наигӡоит Анна Валле
- Клеопатра / Cleopatra (Швециа, 2003) — апорнографиатә фильм, арежиссиор Антонио Адамо, роль хадас иамоу Џьулиа Теилор
- Скуби-Ду, дабаҟоу смумиа? / Scooby-Doo! in Where’s My Mummy? — амультипликациатә фильм (Еиду Америкатәи Аштатқәа, 2005), Клеопатра абжьы лхалҵеит Вирџьиниа Медсен
- Рим / Rome (2005—2007) — HBO/BBC ателеверсиатә драма, ароль налыгӡоит Линдси Маршал
- Иули Цезар / Giulio Cesare — аопера (Британиа Ду, 2006), Даниель де Низ лроль налыгӡоит
- Клеопатра/ Cleópatra (Бразилиа, 2007) — арежиссиор, ароль наигӡоит Алессандра Негрини
- Аамҭа аҳәаа, асериа «Клеопатра илыцымҩаԥгаз аҵх» (Урыстәыла, 2015) — ароль налыгӡоит Евгениа Шьербакова
- Антонии Клеопатреи / Antony and Cleopatra (Британиа Ду, 2017) — арежиссиор, ароль налыгӡоит Џьозетт Саимон
- Антонии Клеопатреи / Antony and Cleopatra (Британиа Ду, 2018) — арежиссиор, ароль налыгӡоит Софи Оконедо
- Африкатәи аҳкәажәцәа, «Аҳкәажә Клеопатра» / Queen Cleopatra (Еиду Америкатәи Аштатқәа, Британиа Ду, 2023, Netflix асериал) ароль аҿы.
- Астерикси Обеликси: Ажәҩантәи Аимпериа / Astérix et Obélix: L’Empire du Milieu (Франциа, 2023) — арежиссиор Гииом Кане, ароль налыгӡоит Марион Котиар
- «Клеопатра» — 2010 шықәса инаркны аус зыдулара иаҿу афильм
Аӷбақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Клеопатра— Британиа Ду Аҳра арратә-мшынтә флот 5-тәи аранг змоу 32 бџьар змоу афрегат, 1779 шықәсазы амшын ихҵан, 1814 шықәсазы иқәгахеит.
- Клеопатра— 32 бзарбзан зықәгылоу афрегат, 1780 шықәсазы Франциатәи арратә-мшынтә мчқәа рзы амшын ихҵан, 1793 шықәсазы Британиа Ду Аҳра арратә-мшынтә флот анапахьы иаанагеит, ахьӡ ԥсахны «Oiseau» (аԥсаатә) ҳәа ахьӡҵан, 1816 ашықәсазы иқәгахеит.
- Клеопатра — 44 бзарбзан змаз Франциатәи арратә-мшынтә мчқәа рфрегат, 1817 азы амшын ихырҵеит, 1823 азы иқәгахеит.
- Клеопатра— Британиа Ду Аҳра арратә-мшынтә флот 6-тәи аранг змоу 26 бзарбзан зықәгылоу афрегат, 1835 шықәсазы амшын ихырҵеит, 1862 ашықәс азы иқәгахеит.
- Клеопатра— Франциатәи арратә-мшынтә мчқәа 50 бзарбзан змоу афрегат, 1838 шықә азы амшын ихҵан, 1869 ашықәс азы иқәгахеит.
- Клеопатра— Британиатәи Ост-Индиатәи Акомпаниа афрегат, 1839 азы амшын ихырҵеит, 1847 шықәса мшаԥымза 14 рзы Малабар аԥшаҳәаҿы иҟәыбаса ицеит, уи акомандеи апассаџьырцәеи (зегьы ааидкыланы 250 инареиҳаны) ҭахеит.
- Клеопатра— аекипажазы ацҳа хәыҷ змоу апонтон, 1877 шықәсазы ақьашана Клеопатра лгәыр Александриантәи Лондонҟа аиагаразы идыргылаз, 1878 шықәсазы иқәгахеит.
- Клеопатра— Британиа Ду Аҳра арратә-мшынтә флот авинттә корвет, 1878ш азы амшын ихырҵеит, 1931ш азы иқәгахеит.
- Клеопатра— Британиа Ду Аҳра арратә-мшынтә флот акреисер лас, 1915ш азы амшын ихҵан, 1931ш азы иқәгахеит.
- Клеопатра — Британиа Ду Аҳра арратә-мшынтә флот акреисер, уи 1940ш азы амшын ихҵан, 1953ш азы иқәгахеит.
- Клеопатра— Еиду Америкатәи Аштатқәа рытранспорттә ӷба, 1944 шықәсазы «United Victory» ҳәа ахьӡ аманы амшын ихҵан, 1946 шықәсазы Британиа Ду иаанахәеит, Александриеи Ниу-Иорки рыбжьара амшын ихын, 1956 шықәсазы «Клеопатра» ҳәа ахьӡ ԥсахын, 1961 шықәсазы Еиду Арабтә мшынтә еилахәыра имилаҭтәны иҟарҵеит, 1981 шықәсазы иқәгахеит.
- Клеопатра— Британиа Ду Аҳра арратә-мшынтә флот афрегат, 1964ш азы амшын ихырҵеит, 1992 азы иқәыргеит.
- Клеопатра — аԥассажьыртә, палубаки винт заҵәыки змоу аԥхараныҟәаӷба, 1964 шықәс азы амшын ихҵан. Аҳәынҭқарратә наплакы «Москватәи аӷбаргылареи аӷбақәа рремонт аҟаҵареи рзы азауад» ала «МО-106» ҳәа ахьӡ аманы, 1995 шықәсазы «Чаика» ҳәа ахьӡ ԥсахын, 2006 шықәсазы — «Клеопатра» ҳәа, 2015 шықәсазы иқәгахеит[17].
Афилателиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]
- Мысратәи асулҭанра аԥошьҭатә марка (абарельеф «Клеопатра»), ашьацԥшшәы, 2 милием, 1914 шықәса ажьырныҳәамза 8[18], 1921 шықәса[19]
- Мысратәи асулҭанра аԥошьҭатә марка (абарельеф «Клеопатра»), аҟаԥшь, 2 милием, 1922 шықәса[20]
- Иементәи Мутаваккилтәи Аҳра аԥошьҭатә марка (Џьованни Баттиста Тиеполо исахьаҭыхымҭа «Антонии Клеопатреи реиԥылара»), 24 бкуши, 1968 шықәса мшаԥымза[21]
- Аџьмантәи аемират аԥошьҭатә марка (Иоганн Лисс исахьаҭыхымҭа «Клеопатра лыԥсра»), 1 катартәи риал, 1972 шықәса[22]
- Парагваи аԥошьҭатә марка (Гвидо Каньиаччи исахьаҭыхымҭа «Клеопатра лыԥсра»), 0,25 гуарани, 1972 шықәса лаҵарамза 22[23]
- Екваториалтәи Гвинеиа аԥошьҭатә марка (Гвидо Каньиаччи исахьаҭыхымҭа «Клеопатра лыԥсра»), 2 песета Екваториалтәи Гвинеиа, 1973 шықәса рашәарамза 29.[24]
- Чехословакиа аԥошьҭатә марка (Питер Пауль Рубенс исахьаҭыхымҭа «Клеопатра»), 5 чехословакиатәи акрона, 1977 шықәса абҵарамза 24[25]
- Шьамтәыла аԥошьҭатә марка (Клеопатра лбиуст), 25 пиастр, 1979 шықәса нанҳәамза 19.[26]
- Мраҭашәаратәи Берлин аԥошьҭатә марка (Берлинтәи антикатә еизгарҭаҿы Клеопатра лбиуст), 30 пфенниг, 1984 шықәса ажьырныҳәамза 12.[27][28]
- Гаианатәи аԥошьҭатә марка (Гиустав Моро исахьаҭыхымҭа «Клеопатра»), 50 гаианатәи адоллар, 1993 шықәса ԥхынҷкәынмза 6.[29]
- Мали аԥошьҭатә марка (Елизабет Теилор Клеопатра лроль налыгӡоит), 150 франк КФА BCEAO, 1994 шықәса лаҵарамза 23.[30]
- Либериа аԥошьҭатә марка (Клеопатра лпортреҭ), 50 цент, 1998 шықәса ԥхынгәымза 27.[31]
- Сиерра-Леоне аԥошьҭатә марка (Гвидо Рени исахьаҭыхымҭа «Клеопатра лыԥсра»), 1000 леоне, 2000 шықәса жьҭаарамза 6.[32]
- Антигуеи Барбудеи рԥошьҭатә марка (Герард де Лересс исахьаҭыхымҭа «Клеопатра лчара»), 1 мрагыларатәи-карибтәи адоллар, 2000 шықәса ԥхынҷкәынмза 18.[33]
- Гренадеи, Карриакуи, Мартиника Хәыҷи рԥошьҭатә блок (Герард де Лересс исахьаҭыхымҭа «Клеопатра лчаражәра»), 6 мрагыларатәи-карибтәи адоллар, 2001 шықәса ажьырныҳәамза 15[34]
- Мальдиватәи аԥошьҭатә марка (Герард де Лересс исахьаҭыхымҭа «Клеопатра лчаражәра»), 7 мальдивтәи руфиа, 2001 шықәса ажьырныҳәамза 15[35]
- Мозамбиктәи аԥошьҭатә марка (Клеопатра лпортреҭ), 20 000 метикал, 2002 шықәса цәыббрамза 28[36]
- Либериа аԥошьҭатә марка (Клеопатра лстатуиа), 60 либериатәи адоллар, 2006 шықәса рашәарамза 13[37]
- Сан-Томеи Принсипи рԥошьҭатә марка (асаркофаги Клеопатра лпортрети), 20 000 добра, 2008 шықәса ԥхынгәымза 17.[38]
- Британиа Ду аԥошьҭатә марка (Антонии Клеопатреи, аконцерт), 68 пенни, 2011 шықәса мшаԥымза 21.[39]
- Гвинеиа аԥошьҭатә марка (Елизабет Теилор Клеопатра лроль налыгӡоит), 10 000 гвинеиатәи афранкқәа, 2011 шықәса лаҵарамза 10.[40]
- Гвинеиа аԥошьҭатә маркеи аԥошьҭатә блоки (Елизабет Теилор Клеопатра лроль налыгӡоит), 40 000 гвинеиатәи афранкқәа, 2011 шықәса лаҵарамза 10.[41]
- Гвинеиа аԥошьҭатә маркеи аԥошьҭатә блоки (Клеопатра лпортреҭ), 40 000 гвинеиатәи афранкқәа, 2011 шықәса цәыббрамза 30.[42]
- Мальдиватәи аԥошьҭатә марка (Иакоб Иорданс исахьаҭыхымҭа «Клеопатра лчара»), 20 мальдиватәи руфиа, 2014 шықәса жьҭаарамза 7.[43]
- Нигер аԥошьҭатә марка (Елизабет Теилор Клеопатра лроль налыгӡоит), 900 франк КФА BCEAO, 2016 шықәса мшаԥымза 20.[44]
- Соломонтәи адгьылбжьахақәа рԥошьҭатә блок (Микеланџьело Буонарроти исахьаҭыхымҭа «Клеопатра»), 10 Соломонтәи адгьылбжьахақәа рдоллар, 2016 шықәса мшаԥымза 12.[45]
- Украина аԥошьҭатә марка (Клеопатра лпортреҭ), аноминал V, 2019ш.[46]
Клеопатра астрономиаҿы
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Амаҟа хада иатәу аметаллтә астероид (216) Клеопатра, мшаԥымза 10, 1880 шықәсазы Иоганн Пализа, Пула иҟоу Австро-Венгриатәи амшынтә обсерваториаҿы иааиртит. Абаҩ аформа амоуп, ашәагаа 217×94×81 км ыҟоуп. Ҩ-мҩанызак ацуп (Алексгелиоси), иаартын цәыббрамза 19, 2008 шықәсазы, Клеопатра лхәыҷқәа Александр Гелиоси Клеопатра Селена II рыхьӡқәа рыхҵоуп.
- Венера иҟоу Клеопатра ҳәа изышьҭоу акратер, Максвелл ашьхақәа рымрагыларатәи аҟәараҿы иҟоуп, ахьӡ шьақәнарӷәӷәеит Жәларбжьаратәи Астрономиатә Еидгыла 1992 шықәсазы. Адәахьтәи аҭаҳара адиаметр — 100 км иназынаԥшуеит, аҩныҵҟатәи — 45—55 км; адәахьтәи аҭаҳара аҵаулара — 1,5 км, аҩныҵҟатәи — 2,4—2,6 км.
Клеопатра абиологиаҿы
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ҽынлатәи аԥарԥалыкь алимонница клеопатра, ахкы дахцәажәахьеит швециатәи аԥсабараҭҵааҩы Карл Линнеи 1767 шықәсазы. Ареал: аладатәи Европа, аҩадатәи Африка, Иааигәоу Мрагылара.
- Cleopatraамгәаҿы ашьапы змоу моллиускқәа рыхкы (акамыршша), 20 инареиҳаны ахкқәа зҵазкуа.
Азгәаҭарақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ 1,0 1,1 1,2 Онлаин. [cit. 2018-09-02]
- ↑ 2,0 2,1 Онлаин. [cit. 2018-09-02]
- ↑ Пастухов П. И. «Лукреция, Клеопатра и Прозерпина».
- ↑ Аврелий Виктор, «О знаменитых людях», 86
- ↑ Плутарх, «Антоний», 27
- ↑ C.R.Lepsius, Denkmäler aus Aegypten und Aethiopien, 12 Bde., Berlin 1849-59. -IV 65a.
- ↑ C.R.Lepsius, Denkmäler aus Aegypten und Aethiopien, Text, Hrsg. v. E.Naville und K. Sethe, 5 Bde., Leipzig 1897—1913 — IV 4(α).
- ↑ C.R.Lepsius, Denkmäler aus Aegypten und Aethiopien, Text, Hrsg. v. E.Naville und K. Sethe, 5 Bde., Leipzig 1897—1913 — IV 3.
- ↑ 9,0 9,1 H.Brugsch, Thesaurus Inscriptionum Aegyptiacarum, 6 Bde., Leipzig 1883-91 —879.
- ↑ C.R.Lepsius, Denkmäler aus Aegypten und Aethiopien, 12 Bde., Berlin 1849-59. -IV 53a.
- ↑ Ino Nicolaou. Prosopography of Ptolemaic Cyprus. 1976. P. 22.
- ↑ «Цезарёнок», то есть маленький Цезарь
- ↑ Аппиан, «Гражд. войны», 5.8
- ↑ Плутарх, «Антоний», 83
- ↑ "Азиза - Aziza (1991, Vinyl)". Дискография (аурыс бызшәала). Discogs. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2019-09-04 ахь. Ириашоу 2020-12-25 шықәсазы.
- ↑ Азиза - Клеопатра / Утренняя почта «В гостях у Зайцевых» (1991) — Азиза. Официальный канал
- ↑ "Клеопатра, Бортовой №: В-12-3795". Иархивтәоу аоригиналзы 2025-01-12 ахь. Ириашоу 2025-01-12 шықәсазы.
- ↑ Cleopatra.
- ↑ Cleopatra.
- ↑ Cleopatra.
- ↑ The Meeting of Anthony and Cleopatra, Giambattista Tiepolo.
- ↑ Death of Cleopatra, Johann Liss.
- ↑ The Death of Cleopatra, G. Cagnacci (detail).
- ↑ G. Cagnacci : The Death of Cleopatra.
- ↑ Cleopatra, by Rubens. (1614—1617).
- ↑ Head of Clipeata (Cleopatra).
- ↑ "1984 Art Treasures of the Museum in Berlin". Иархивтәоу аоригиналзы 2025-01-20 ахь. Ириашоу 2025-01-14 шықәсазы.
- ↑ Queen Cleopatra VII (Museum of Antiquities).
- ↑ Cleopatra, by Gustave Moreau.
- ↑ Elizabeth Taylor, Cleopatra.
- ↑ Cleopatra VII Thea Filopátor.
- ↑ The Death of Cleopatra by Guido Reni.
- ↑ «Cleopatra’s Banquet» (Gerard Lairesse).
- ↑ Cleopatra’s banquet, by Gerard Lairesse.
- ↑ «Cleopatra’s Banquet» — Gerard Lairesse.
- ↑ Cleopatra VII.
- ↑ Study of a nude woman as Cleopatra.
- ↑ Sarcophagus, Queen Cleopatra VII.
- ↑ Antony & Cleopatra 2006.
- ↑ Cleopatra.
- ↑ Cleopatra with Richard Burton.
- ↑ Edfu temple, Horus statue and Cleopatra.
- ↑ «Cleopatra’s Feast», by Jacobs Jordaens.
- ↑ Elizabeth Taylor As Cleopatra.
- ↑ «Cleopatra», by Michelangelo
- ↑ "Украина 2019, Выдающиеся женщины, Клеопатра, 1 м." Иархивтәоу аоригиналзы 2025-01-15 ахь. Ириашоу 2025-01-15 шықәсазы.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Кравчук, Александр. Закат Птолемеев = Kleopatra, Ossolineum : [пер. с пол.]. — М. : Наука, Гл. ред. восточной литературы, 1973. — 217 с.
- Декс, Пьер. Клеопатра. — Ростов-на-Дону: Феникс, 1998. — 320 с. — (След в истории). — 10 000 экз. — ISBN 5-222-00181-4.
- Петров А. Несколько страниц в защиту Клеопатры // Восток-Запад-Россия. Сб. статей.. — М.: Прогресс-Традиция, 2002. — С. 383—390.
- Френ, Ирен. Клеопатра или Неподражаемая : [рус.] = L'Inimitable Cléopâtre : [пер. с фр.] / перевод Т. А. Баскаковой. — М. : Молодая гвардия, 2001. — 356 с. — (Жизнь замечательных людей). — 6000 экз. — ISBN 5-235-02668-3.
- Светоний, «Божественный Юлий», «Август»
- Бенгтсон Г. Правители эпохи эллинизма. — М.: Наука, 1982.
- Beckerath J. von. Handbuch der ägyptischen Königsnamen. — Mainz, 1999.
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Cleopatra VII at BBC History
- Cat. 22 Tetradrachm Portraying Queen Cleopatra VII — Sabino Rachel, Gross-Diaz Theresa, Art Institute of Chicago, 2016.
- Страницы, использующие расширение WikiHiero
- Ҳ. ҟ. 69 шықәсазы ииз
- Ҳ. ҟ. 1-тәи ашәышықәсазы ииз
- Ҳ. ҟ. 30 шықәсазы иԥсыз
- Птолемеиаа рпринцессацәа
- Ажәытәтәи Мысра аҳкәажәцәа
- Ҳ. ҟ. I-тәи ашәышықәсазтәи Африка анапхгаҩцәа
- «Анцәатә комедиа» аперсонажқәа
- Зашьцәа зшьыз
- Аԥсышьа еилкаам аҭагылазаашьақәа
- Ашҳам ыжәны рхы зшьыз
- Клеопатра
- Марк Антони иҳәсақәа