Перейти к содержанию

Касланӡиа, Валери Платон-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Валери Платон-иԥа Касланӡиа
Валерий Платонович Касландзия

Валери Платон-иԥа Касланӡиа
Аира абҵарамза 231943 ш.
Очамчыра араион Кәтол ақыҭа
Аусура аԥсуа поет, апрозаик, адраматург
Абызшәақәа Аԥсуа бызшәа
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла,
Аԥсны Аҳәынҭқарра
Алма-матер Абхазский государственный университет

Валери Платон-иԥа Касланӡиа (аур. Валерий Платонович Касландзия; абҵарамза 231943 ш., Очамчыра араион Кәтол ақыҭа) – аԥсуа поет, апрозаик, адраматург. Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы (2018). Т.Шь. Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (2016). Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2003). Дыҩуеит аԥсышәала.

Иаб Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан дҭахеит, иаб иашьа, еицырдыруа актиор Леуарса Касланӡиа диааӡеит. Уи иҟнытә иоуз аныррала алитература дазҿлымҳахеит. Н.А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхаруаа ршкол далгеит (1962) , иара убас А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет (1970). Асовет аррамаҵура дахысуан. Аусура далагеит агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» («Аԥсны» аредакциаҿы, аԥхьа еиҭагаҩыс, нас алитературатә усзуҩыс. 20 ш. инареиҳаны аус иуит Аԥсны акультуреи аҭоурыхи рбаҟақәа рыхьчаразы агәыԥ (аусбарҭа) ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аус иуеит «Аԥсныҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы» редакторс.

Акьыԥхь аҟны дцәырҵит 1961 ш. инаркны. Авторс дрымоуп ажәеинраалақәа, апоемақәа, апиесақәа еидызкыло ашәҟәқәа жәпакы. Аханатә еиԥш, иҩымҭақәа рнылоит ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Аҟәа – Сухум», агазеҭқәа: «Аԥсны ҟаԥшь», «Аԥсны» уҳәа егьырҭгьы.

1989 ш. В.Касланӡиа ипиеса «Апҟа» шкәакәа» иалхны С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны аспектакль ықәдыргылахьеит. Ипиеса «Ахеилага» акәзар, иқәыргылан Шә. А. Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә театр аҟны (2012).

  • аԥсышәала: Аҵәаҵлақәа шәҭуеит. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1983.
  • Амш хазына. Ажәеинраалақәеи алакәқәеи ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, 1986.
  • Алакә­ԥхыӡ. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1989.
  • Анҷа­-кәынҷа. Ажәеинраалақәа ахәыҷқәа рзы. Ацуфарақәа. Аҟәа – Маиҟәаԥ, 2004.
  • Иҿыцбараху адунеи ҩаӡаҿ. Ажәеинраалақәа. Апоема. Алакәқәа. Апиесақәа. Аҟәа, 2010.
  • Жьакәыр­гәымшәа. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2011.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәа, апоемақәа, ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәеи алакәқәеи, апиесақәа. Аҟәа, 2014.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 940