Перейти к содержанию

Еиуеиԥшым атәылақәа рҿы ашықәс ҿыц атрадициақәа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Адунеи аҿы шәкыла атәылақәа ыҟоуп. Атәылақәа зегьы рҿы Ашықәс ҿыц ҷыдала иаԥылоит. Ашықәс ҿыц ауаа ҷыдала рҽазыҟарҵоит. Ари ашәҟәы аҿы шәаԥхьар шылшоит ашықәс ҿыц аԥылара еиуеиԥшым атәылақәа рҿы ишыҟоу.

Германиа Қьырса ныҳәа иаԥылоит заа, Ашықәс ҿыц аанӡа. Аха, аԥсаӡ аргылара Ашықәс ҿыц иасимволны изыӡбаз анемеццәа роуп. Анемеццәа роуп изыӡбаз аԥсаӡ хәмаргақәа. Ашықәс ҿыц атрадициатә уаххьа алагоит асааҭ ааба рзы, иагьынҵәоит ҵхыбжьон. Абокалқәа рышьҭыхра уаххьа ахыркәшара аанагоит.

Италиа Ашықәс ҿыц азы амаҭәа ҩазақәа аԥенџьыр идәылганы идыршәуеит. Аиталианеццәа агәра ргон, амаҭәа ҩазақәа шаҟа ирацәаны идыршәуа аҟара, убриаҟара Ашықәс ҿыц азы ироууеит ҳәа. Ашықәс ҿыц азы аиталианеццәа ирзааигәоу ауаа ацәарҭа маҭәа ҟаԥшь ҳамҭас ирырҭоит.

Аԥшшәы ҟаԥшь аҿыцра аанагоит. Италиатәи Аҵаа Бабаду Баббо ҳәа ишьҭоуп. Уи Қьырса ауха ахәыҷқәа аҳамҭа риҭоит. Уи адагьы, аиталианеццәа дрымоуп Асҭыԥҳа Ла Беффена. Атрадициатә аишәа акәзар, аиталианеццәа ирымоуп кочетино конлетиччи, мамзаргьы аҳәажьы иалхыу асосискақәа, акуличи.

Шотландиа Ашықәс ҿыц Хогман ахьӡуп. Ашотландцәа меквле агәра ргоит. Урҭ рхаҵарақәа рыла зыбла еиқәаҵәо аҷкәын аманшәалара узааигоит. Ашатландцәа Ашықәс ҿыц ауха ауалырқәа амца ацраҵаны амҩақәа ирыкәдыршоит. Убас, урҭ ицаз ашықәс наскьаган, аҿыц иазыԥшуп. Ашықәс ҿыц аламҭалаз, ашатландцәа ачысмаҭәа ԥырҽуеит ргәылацәа рышәаҿы.

Ашықәс ҿыц азы аҩнқәа зегьы рҿы алашарақәа аркуп, аҩнқәа рҿгьы, амҩадуқәа рҿгьы алашара дырцәаӡом.

Ашотландцәа реишәа аторт (ачарӡхаа) ду ықәырҵоит. Аторт ырԥшӡоуп араса, аконфеҭқәа, ашьақьар иалхыу асахьақәа рыла.

Болгариа Ашықәс ҿыц азы аишәа иқәырҵоит апирог (аҵәачарӡхаа). Апирог аҟаҵараан ирацәоуп иаларҵо амаҭәарқәа. Уи апирог асиурпризқәа рпирог ахьӡуп. Апирог аҿы аԥара ҿырпы абеиара аанагоит, агәил амахә - абзиабара. Аболгарцәа рҿы Ашықәс ҿыц азы, аишәа жәаҩа чыс хкы ықәдыргылоит, урҭ акәац лых рылаӡам.

Австралиа Ашықәс ҿыц аԥхын иаауеит. Убри аҟынтә, Ашықәс ҿыц австралиаа амшын аҿықә аҿы иаԥылоит. Сиднеи – Австралиа иаҳҭнықалақьуп. Сиднеи, Ашықәс ҿыц азы идуӡӡо афеирверкқәа мҩаԥыргоит. Ари иахәаԥшырц Сиднеи иаауеит 30 000 (ҩажәижәаба нызеқьҩык) ауаа.

Китаи Ашықәс ҿыц аауеит ианар 17 (жәибжьи) февраль 19 (зежәи) рыбжьара, ажәҩанаҿ амзаҿа анцәырҵуа. Китаиаа амҩадуқәа афонар ҟаԥшьқәа рыла идырԥшӡоит. Афонарқәа жәаҩа (12) ԥстәы рформа амоуп. Жәаҩа ԥстәы Китаитәи Адырганҵа (Азодиак) иақәыршәан иҟаҵоуп. Урҭ аҳәынаԥ, ацә, абжьас, ажьа, агәылшьап, амаҭ, аҽы, аџьма, амаамын, арбаӷь, ала, аҳәа.

Афонарқәа иреиҳау, ашықәс иааиуа зтәу аԥстәы асахьа ала идырхиоит. Китаиаа рзы Ашықәс ҿыц арыцҳацәа ирныҳәан. Арыцҳацәа, уи амшазы ибеиаз рыҩны инеир рылшон, иарбанзаалак ирҭахыз амаҭәахә ргар.

Индиа Индиа Ашықәс ҿыц шықәсык аантәы иаԥылоит. Аныҳәақәа руак, Гуди Павда ахьӡуп. Гуди Павда аан, аиндииццәа гәырӷьоит, амра ангыло иацгылоит, аныҳәа ашахәҭоу ала рҽеибырҭоит. Амҩадуқәа рҿы гәырӷьароуп. Амҩаҿы аспектакльқәа ықәдыргылоит, еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит. Аиндииццәа ажәҩан иаларҵоит аҳамҭақәа.

Жәаатәи ашәышықәсазы (18) Франциа ареволиуциа ҟалоит. Франциатәи ареспублика еиҿкаан сентиабр ҩажәи ҩба рзы. Убри аҟынтә афранцызцәа Ашықәс ҿыц ҩажәи ҩба (22) сентиабр иаԥылон.

Иахьазы афранцызцәа Ашықәс ҿыц ианар 1 аказы имҩаԥыргоит. Аишәаҿы зегь раасҭа ихадароуп ашампанҩы. Ашампанҩы ари зегь реиҳа еилашуа рыжәтәуп. Уи адагьы аныҳәатә еишәа иқәуп ашәыр, ауҭраҭых, аикра, аҟыз агәаҵәа иалхыу апаштет фуа-гра. Афранцызцәа рныҳәатә еишәа иқәуп иӡу ашәишәи ажьы, аныҳәатә пироженное – полено. Аныҳәатә пироженное ажьырҩа иалхуп.

Ирландиа Ашықәс ҿыц азы аҩнашәқәа зегьы аадыртуеит. Изҭахыу зегьы аҩны аҩналара рылшоит. Ашықәс ҿыц аԥхьатәи амшаз, аирландцәа иазгәарҭоит Аҩны амш ныҳәа. Ажәытә ҵасқәа рыла аирландцәа дара-дара арацәа ҽыҭқәа еимырдоит.

Талька Чили ақалақьқәа ируакуп. Талька ирымоуп ижәытәу ҵаск (традициак) Ашықәс ҿыц ааианӡа ақалақь ауааԥсыра зегьы изхылҵыз рҳаҭгәынқәа рахь ицоит. Урҭ Ашықәс ҿыц ааира аҳаҭгәынқәа рҿы иазыԥшуп. Талька инхо ауаа агәра ргоит здунеи зыԥсаххьо (иԥсхьо) ауаа ашықәс ҿыц ирыцаԥылоит ҳәа.

Ефиопиа Ашықәс ҿыц сентиабр 11 иаауеит. Сентиабр жәеиза ари ақәаура дууқәа рынҵәареи, аҽаҩраҭагалареи ираамҭоуп. Ашықәс ҿыц ауха амҩадуқәа рҿы аныҳәатә ныҟәарақәа мҩаԥыргоит. Атрадициақәа рыла имҩаԥыргоит амца ахыԥара аритуал.

Атрадициа инақәыршәаны, Испаниа ашықәс ҿыц ауха жәаҩа жьыргәыц рфоит. Асаркьал жәаҩантә аҵәҵәа иасуеит. Асаркьал иасцыԥхьаӡа Испаниаа жьыргәыцк-жьыргәыцк рфоит рыгәҭакы ргәы иҭакны.

Ашықәс Ҿыц аерманцәа рҿы

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ажәытә аерманцәа Ашықәс ҿыц март 21 (ҩажәиакы) рзы иаԥылон 18-тәи (жәаатәи) ашәашықәса инаркны. Ианар акы инаркны иалагоит аԥылара. Ашықәс ҿыц азы ахәыҷқәа ақыҭаҿ еизон. Урҭ Ашықәс ҿыц иаԥылон шәаҳәарала. Ахәыҷқәа агәылацәа рахь ицон аҳамҭақәеи ахаа – мыхаақәеи роурц.

Аерманқәа меквле аҵак ду арҭоит. Бедобис дӷье ари ианар ҩбоуп. Ерманцәақәак рҭаацәараҿы иҟарҵоит тари. Тари ари печениоуп, аԥшәма ԥҳәыс аҟәрышь згәылалҵо. Аҭаацәа рахьтә аӡәы аҟәрышь иқәшәоит. Аерманцәа ргәаанагарала Ашықәс ҿыц азы агәҭакқәа зегь наӡоит ҳәа иршьоит. Аерманцәа рныҳәатә еишәа, хымԥада, акониак, аҭолма ықәгылазароуп, урҭ хыхкык ыҟазароуп, ахәылрҳәы, ажьбӷьы, иара убас агергилии ирылхыу. Аҭолма кәацда абҳәа рҩа иалхны иҟарҵоит.

Азербаиџьан ишаԥыло

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Азеирбаџьанцәа Ашықәс ҿыц март ҩажәи акы (21) азы иаԥылоит. Ари аныҳәа Новруз Баирам ахьӡуп. Новруз ари џьам ажәоуп. Иаанагоит –амш ҿыц. Март ҩажәи акы – ари аҵхи амши ааԥынтәи реиҟарара аамҭа ааиреи, адгьыл аҿыхареи ирымшуп.

Новруз хымш имҩаԥысуеит. Ари амшаз ауаа зегьы гәырӷьоит. Ҭаацәарцыԥхьаӡа семен ҟарҵоит.

Семен ҳәа иашьҭоуп ачарыц ашьаҟьар. Ари аԥсҭазаара ҿыци, ааԥыни ирсимволуп. Азербаиџьанцәа Ашықәс ҿыц азы аԥахлава ҟарҵоит.

Аԥахлава ари чарӡхаауп. Иара убас доугу ҟарҵоит. Уи ажьрҩеи, арасеи абрынџьи ирылырхуеит. Новруз аан азарбаиџьанцәа рыуацәа, ачымазцәа, арыцҳацәа ирҭаауеит. Урҭ арыцҳацәа аҳамҭақәа рзыҟарҵоит.

Ишыжәбо ала Ашықәс ҿыц еиуеиԥшым атәылақәа рҿы еиԥшӡам. Урҭ зегьы ҷыдала рҽазҵәылхны гәырӷьарала Ашықәс ҿыц аԥылара рҽазыршәоит. Избанзар Ашықәс ҿыц агәаҳәарақәа рынагӡара иашықәсуп.