Перейти к содержанию

Европа аҭоурых

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа


Европа аҭоурых
Ахронологиа
Европа ахаҳәтә аамҭазы
Европа аџьаз аамҭазы
Антикара
Абжьаратәи ашәышықәсақәа
Аиҭарҿиара аамҭа
Аамҭа ҿыц
Европатәи Аидгыла

Европа аҭоурых иаҵанакуеит аконтинент аҿы, ацивилизациақәеи акультурақәеи рышьақәгылареи, анырхареи апроцессқәа. Европа акыр аамҭа ауаа нхомызт. Европа ауаатәыҩса рнырхара ахыҵхырҭақәа ирызкны аимак-аиҿак бжьоуп. Ишьақәырӷәӷәоуп, Европа ауаатәыҩса ицәырҵра ҭыԥны ишыҟамыз. Иҟоуп агәаанагарақәа, раԥхьатәи агоминидқәа Индиантәи Европаҟа иааит зҳәо. Агенетикатә ҭҵаарақәа уи иақәшаҳаҭуп. Аха зегь реиҳа ииашоу агипотеза — Африка аҟынтәи Мраҭашәаратәи Азиа ала Европаҟа агоминидқәа раара ауп. Иҟоуп иара убас агәаанагара, ари Виллафранктәи аамҭа аабжьара иҟалеит ҳәа. Homo Sapiens ҟалаанӡа, Европеи Мраҭашәаратәи Азиеи неандертальуаҩцәа нхон.

Геидельбергтәи ауаҩи иара ишиашоу ихылҵшьҭра Неандерталуаҩ ракәын ииашаҵәҟьаны Европа инхоз, насгьы аҵыхәтәантәи Европатәи аҳауатә ҭагылазаашьа иақәшәоз иҷыдоу форма аазырԥшуаз иакәын.

Иахьатәи аамҭазы еицырдыруа, зегь реиҳа иԥасоу, Европаҿы раԥхьаӡатәи ауаатәыҩса ицәырҵра 35 зқьышықәса раԥхьа ауп, насгьы Неандерталуаҩцәа ыӡзар ҟалап 28 зқьышықәса раԥхьа.

Апрото-индоевропауаа Европа рцәырҵра 4-тәи азқьышықәса ҳ. ҟ. иаҵанакуеит, уи иадҳәалоуп Баден, Иамнаиа, Аибашьратә ҭыхақәа ркультурақәа рцәырҵра.

Европатәи ацивилизациа алагеит Ажәытәтәи Абырзенцәа мрагыларатәи Абжьаратәи амшын ахәҭаҿы. Ажәларқәа Рмиграциа Ду Европа алаҭын бызшәа асистема ашьақәгылара ашьаҭа шҭанаҵеит, уи ашьаҭала Мраҭашәаратәи Европа абызшәақәа рацәаны ишьақәгылеит. 10 зқьышықәса раҟара ҳ. ҟ. Адгьыл ауааԥсыра рыбжак Европа инхон, 1930 шықәсазы — 25% (уажәы 9% раҟара); абжьаратәи ашәышықәсақәа раан, ақьырсианцәа 95% рҟынӡа Европа инхон (иахьазы ақьырсианцәа реиҳараҩык Европа анҭыҵ инхоит); XIX ашәышықәсазы аиндустриа зегьы Европа еизакын, XXI ашәышықәсазы 80% инареиҳаны Европа анҭыҵ иҟан.

Аҭоурых аԥхьатәи Европа

Ихадароу астатиа: Европа ахаҳәтә аамҭа

Европа ауаа рцәырҵра. Апалеолити амезолити

Европа аахыҵ-мрагыларатәи аганахьала, Ростов-на-Дону ақалақь Ливенцовка аҭыԥ аҿы, ахаҳәтә мыругала аԥҟареи аԥҵәареи рышьҭақәа зну амахҽ абаҩ ԥшаан, уи Абжьаратәи виллафранктәи аамҭа аҵыхәтәантәи аамҭақәа рахь иаҵанакуеит (2,1—1,97 миллион шықәса раԥхьа)[1]. Тамантәи адгьылбжьахалаҿы еицырдыруеит раԥхьатәи апалеолит аамҭазы иҟаз ҭыԥқәак (Богатыр/Синаиа Балка, Родники 1-4, Цимбал), урҭ рҟынтә зегь реиҳа ижәытәӡоу Кермектәи аҭыԥ ауп (2,1—1,8 миллион шықәса раԥхьа)[2]. Даӷьсҭан ажәытәтәи апалеолит аамҭазы иҟаз аҭыԥқәа жәпакы ԥшаауп (Аиникаб-1, Гегалашур, Мухкаи)[3], Ставропольтәи атәылаҿацә аҿы (Жуковское)[4], Молдавиа (Баираки, Крецешты)[5][6].

Кавказтәи ашьхеибаркыра анҭыҵ, Қырҭтәыла (Дманиси) 1,8—1,9 миллион шықәса раԥхьа инхоз ауаа рыԥсыбаҩқәа ԥшаан, насгьы урҭ Homo habilis, Homo erectus рыбжьара аиасратә форма иаҵанакуан. Иҟоуп агәаанагара, аԥсыбаҩқәа зегьы апопуляциак иаҵанакуа ахкқәа роуп ҳәа. Ари аформа хазы хкык аҳасабала иалкаатәуп Homo georgicus ҳәа.

Ахаҳәтә мыругақәа Франциатәи Чилак аҿы иаарԥшыз (1968), ирҳәоит ажәыттәи ауаа еиҿкааны иахьыҟаз аҭыԥ аҿы 1,8 миллион шықәса раԥхьа инхон ҳәа, ахаҳәқәа рыла иҟаҵоу амыругақәа Аԥхьатәи Плеистоцен (Ихыхьтәи Виллафранч) Лезиньон ла Себ аҟны (2009) ақәрала арыцхә 1,57 миллион шықәса раԥхьа ҳәа аамҭарбоуп[7]. Королиово (Закарпатиатәи атәылаҿацә) агыларҭа аҿы иаарԥшуп ахаҳәтә мыругақәа, зықәра 1,4 миллион шықәса иҟоу[8].

Богатыри/Синаиа Балка аргыларҭақәа рҿы 1,5—1,2 миллион шықәса раԥхьа инхоз Кавказтәи аеласмотериум ихыбаҩ аҿы иԥшаан акварцах доломит иалхыз ацәҟьа ԥшра змоу амыруга[9], Богатири/Синаиа Балка агыларҭақәа рҿы ахаҳәтә индустриа “Преолдовантәи” мамзаргьы “архаикатәи Олдовантәи” ҳәа иахьыԥхьаӡалазар ҟалоит, Валлоне (Франциа), Барранко Леон, Фуенте Нуева 3, Сима дель Елефанте (Испаниа), Пирро Норд, Монте Поџоло (Италиа)[10] абарҭ зегьы реиԥш “Преолдовантәи” аиндустриақәа иреиуоп.

Ауаа Европа рнырхара аиналагаз атәы зҳәо ахыҵхырҭақәа ирыдҳәаланы аекспертцәа иаку агәаанагара рымаӡам. Идыру заҵәык ауп Европа ауаатәыҩса ахьиз ҭыԥны ишыҟамыз. Еиҳа иҟалап ҳәа иԥхьаӡоу агоминидқәа Африкаҟынтә Мраҭашәаратәи Азиа ала Европаҟа иааит ҳәа ауп. Иҟоуп агәаанагара, ари Виллафранктәи аамҭа абжьара иҟалеит ҳәа.

Европаҿы зегь реиҳа ижәытәӡоу зыгәра угартә иҟоу агоминид Homo antecessor (мамзаргьы Homo erectus) Атапуерка иҟоу Испаниатәи Сима дель Елефанте аҳаԥы аҟынтәи, 1,2—1,3 миллион шықәса раԥхьа ицәырҵит ҳәа иԥхьаӡоуп[11]. Пофи (Фрозиноне, Лацио) инхоз Homo erectus аԥсыбаҩқәа 400—500 зқьышықәса раԥхьа ҳәа аамҭарбоуп[12].

Европа ииашаҵәҟьаны иқәынхон Хаидельбергтәи ауаҩи, иҟалап уи ихылҵшьҭра Неандерталуаҩцәеи (Сима де лос Уесос (Сиерра де Атапуерка, Испаниа), Вертесселос (Венгриа), Хаидельберг, Штаинхаим (Германиа), Мала Баланика (Сербиа), Петралона (Бырзентәыла), Саккопасторе, Альтамура, Чепрано ихыбаҩқәа (Homo cepranensis), Изерниа ла Пинета, Фонтана Рануччио[13], Визолиано[14] (Италиа), Суонскомб (Англиа), Арага, Тотавел (Франциа), Презлетице (Чехтәи Ареспублика)[15]), аҵыхәтәантәи европатәи аҳауа ҭагылазаашьа иақәшәо иҷыдоу форма ааирԥшуан.

Иахьатәи аамҭазы Европаҿы раԥхьаӡатәи ауаатәыҩса (Homo sapiens) ицәырҵра 45 820 инаркны 43 650 шықәса раԥхьа рыбжьара ауп (Болгариа иҟоу Бачо Киро аҳаԥы), 40—37 зқьышықәса раԥхьа (Пештера ку Оасе, Маркина Гора, Козарника аҳаԥы (Болгариа), Фуманеи Гротта дель Каваллои (Италиа) иара убас Кент аҳаԥы (Британиа Ду)[16]), насгьы 43—39 зқьышықәса раԥхьа неандерталуаа аҵыхәтәан иӡит[17][18][19]. Неандерталуаҩцәеи иахьатәи ауааи ԥыҭраамҭак адунеи еицанын[20].

Еиуеиԥшым ахәшьарақәа рыла, 27 000 шықәса раԥхьа Европа ауааԥсыра зықьҩык ракәын иҟаз[21].

Апопуляциатә генетик Кавалли-Сфорца, агенетикатә анализ шьаҭас иҟаҵаны, ҳаамҭазтәи ауаа рмиграциатә мҩақәа рацәаны иаликааит, урҭ рҟынтәи акыр зҵазкуа ахәҭақәа рахь иаҵанакуеит аҵааҭрақәа рыла аладаҟа рыԥсахра, Азиа Хәыҷы аҟынтәи адгьылықәаарыхыҩцәа раара, акаршәрақәа рҟынтәи аиҭаҵуаа раара, уҳәа убас иҵегьы.

Агенетикатәи абызшәатәи адыррақәа реиҿырԥшра иҳанаҭоит агәаанагара, аҵааршәқәа апалеолит аамҭазы инхоз ауааԥсыра аладаҟа иаанашьҭит ҳәа, насгьы уи нахыс еиҳарак ашьхақәа рҿы инхоз — еиәарак абаскқәа, рхаҭара зыхьчоз ажәларқәа маҷҩуп. Амиграциа еиуеиԥшым ацәқәырԥақәа амоуп, еиҳарак Азиа Хәыҷы аҟынтәи — Кельтцәа, Романцәа, Агерманцәа, Славианцәа, егьырҭ ажәларқәа (иахәаԥш Кавалло, «Genes, Peoples, and Languages»[22]) рҟынтәи.

Шәахә. иара убас: ориантәи акультура, граветтәи акультура, мадлентәи акультура, кундтәи акультура, Веретие акультура, уҳәа убас иҵегьы.

Иааиԥмырҟьаӡакәа 7 азқьышықәса ҳ. ҟ. еицырдыруеит Болгариа, Румыниа, Грециа анырхарақәа.

Анеолит

Ихадароу астатиа: Анеолиттә Европа
Анеолиттә Европа
Мегалиттәи агипогеум Хал Сафлини, Мальта (III азқьышықәса ҳ. ҟ.)
Анеолит аамҭазы ицәоу аԥҳәыс лхаҿсахьа

Анеолит Агәҭантәи Европа 6-тәи азқьышықәса ҳ. ҟ. азы инаӡеит, Аҩадатәи Европа ахәҭақәа рҿы 5, 4-тәи азқьышықәсақәа рзы ҳ. ҟ. Европа зегьы зҵанакуаз аҭоурых аԥхьатәи акультура аарԥшӡам.

Раԥхьатәи европатәи адгьылықәаарыхыҩцәа Анатолиантәи Аахыҵ-мрагыларатәи Европа ала Европаҟа иааит, иааизакны 7000 шықәса ҳ. ҟ. инаркны

Ажәытәтәи Европа акультуреи адинхаҵареи атәы уҳәар алшоит археологиатә дыррақәа рыла (культура хадақәас иҟоу Трипиллиа, Винка, Ленгиел, Фуннел Бикерс) иара убасгьы индоевропатәи раԥхьатәи аетникатә субстрат акәын ҳәа иԥхьаӡоу (Миноанцәа, Сикулцәа, Иберцәа, Лелегцәа, Пеласгцәа) ажәларқәа рҭоурыхтә шьақәырӷәӷәарақәа рыла.

Ажәытә Европа инхоз ауаа ирыздыруамызт анышәаԥшьҟаҵара акәыршареи аикәыршареи. Ахәқәа реиԥш иҟаз ирӷәӷәаз аҭыԥқәа «полисқәа» рҿы инхоз индоевропауаа реиԥш акәымкәа, урҭ адәкаршәрақәа рҿы иҟоу ақыҭақәа рҿы анхарҭа ҭыԥ хәыҷқәа рҿы инхон (Балканқәа рҿы 3000—4000 ауааԥсыра рзы иаԥҵаз анхарҭақәа ыҟан).

Аџьаз аамҭа

Ихадароу астатиа: Европа аџьаз аамҭа
Ақыҭанхамҩа алаҵәара алада-мраҭашәаратәи Азиа аҟынтәи Европеи ҩада-мраҭашәаратәи Африкеи рҟынӡа, 9600 инаркны 4000 шықәса ҳ. ҟ. рыбжьара
Микенатәи Алымтә гәашә
Микенатәи аҩыра
Аџьаз аамҭа абџьарқәа

Аҩбатәи азқьышықәса алагамҭазы ҳ. ҟ. индоевропатәи ажәларқәа Мраҭашәареи Аахыҵи Европеи ртәылаҿацә ахь аиасра иалагеит[23].

Сардиниа, мрагыларахьтәи ақәылара иахҟьаны, еиҳа иҿиаз Нурагетәи аргылаҩцәа ркультура шьақәгылеит.

Европаҿы раԥхьаӡа еицырдыруаз аҩыратә цивилизациа Криттәи адгьылбжьахаҿы иҟаз Миноиатәи ацивилизациа акәын, анаҩс Грециа, аҩбатәи азқьышықәса инаркны ҳ. ҟ.

Раԥхьатәи ақалақь-ҳәынҭқаррақәа шьақәгылеит XVII—XVI ашәышықәсақәа рзы ҳ. ҟ. — Микена, Тиринс, Пилос — Крит еизааигәаз акультуратәи ахәаахәҭратәи еизыҟазаашьақәа рыман, Микентәи акультура Миноиатәи ацивилизациа аҟынтәи акыр амԥсахит, уи анырра акульттә ритуалқәа, асоциалтә ԥсҭазаара, аҟазаратә баҟақәа рҿы иубарҭоуп; ҳәарада, аӷбақәа рыҟаҵаратә ҟазара Критаа рҟынтәи ирыдыркылеит.

XV—XIII ашәышықәсақәа рзы ҳ. ҟ. Ахеиаа Крити Кикладеи ргеит, Егеиатәи Амшын аҿы иҟоу адгьылбжьахақәа рацәаны аколонизациа азыруит, Бырзентәыла адгьылҵакыраҿы анхарҭа ҭыԥқәа шьақәдыргылеит, анаҩс урҭ аҭыԥқәа рҿы еицырдыруа ажәытәтәи ақалақь-ҳәынҭқаррақәа — Коринф, Афины, Дельфи, Теба шьақәгылахоит. Ари апериод Микентәи ацивилизациа аҿиара аамҭа ҳәа иԥхьаӡоуп.

Аихатә аамҭа

Бырзентәылеи Балканқәеи

Ихадароу астатиа: Ажәытәтәи Бырзентәыла

Аџьаз аамҭа аҵыхәтәаны, ажәытәтәи Абырзенцәа рҳәынҭқаррақәа еилаҳаит, насгьы Абырзенцәа раамҭа лашьцақәа алагеит, анаҩс иааит Аклассикатә Бырзентәыла. Аихатә аамҭазы Балканқәа рҿы инхон апалео-балкантә жәларқәа, иаҳҳәап, фракиааи иллириааи.

Акельтцәа

Иааизакны 400 шықәса ҳ. ҟ. рзы аихатә аамҭа Ла Тен акультура Ибериатәи адгьылбажьахаланӡа инеит, ԥасатәи Ибериатәи ауааԥсыра ирылаӡҩаны, уи иахҟьаны иҟалеит зеиԥшыҟам Кельтебриатәи акультура.

Аурымцәа кельтцәеи дареи реизыҟазаашьақәа ртәы зҳәоз адыррақәа рацәаны иаанрыжьит.

Абарҭ аҳасабырбақәеи археологиатә шьақәырӷәӷәарақәеи рыла анырра ду змаз ари акультура еиҳа раԥхьатәи аилкаара еилаҳкаауеит. Кельтцәа ирылшеит, еиҿкаамзаргьы, Аурымтәи аҳәынҭқарра ӷәӷәала аҿагылара, уи иалнаршеит Аладатәи Европа еиҳау ахәҭа ампыҵахалареи аколонизациа азоуреи.

Кельтцәа аҩыратә бызшәаны рхы иадырхәон Огамтәи аҩыра.

Италиа

Ихадароу астатиа: Аетруриа

Егьырҭ италиаа реиԥш, етрусцәагьы ахеидкылақәаны еидыз ақалақьқәа рҿы инхон; Убас, Римтәи аамҭазы, Етрусктәи аидгыла ахаҭа иаҵанакуан 12 қалақьтә еилазаарақәа: Тарквиниа (иахьатәи Корнето азааигәара), Вольци, Ветулониа (етрусктәи Ватл), Волатерр (етрусктәи Велатра), Волсиниус (етрусктәи Velsuna), Аррециус, Клузиус (Порсенна инхарҭа), Каере (Агилла), Таркинцәа рҳаҭгәын (Тарчнас), Кортона, Перусиус, Популониа (етрусктәи бызшәала Пуплуна; Популониа аҭыԥан, Веиаа раԥхьаӡа аилазаара иалахәын), Рузелла. Иаанхаз ақалақьқәа ари ажәаҩатәи ауаажәларрақәа ирхьыԥшын: иаҳҳәап, Фалериаа Веиаа ирхьыԥшын, Капена — Фалериа иахьыԥшын. Аидгыла аилатәарақәа иааиԥмырҟьаӡакәани иҷыдалкааныи имҩаԥысуан (урҭ есышықәса ааԥынра имҩаԥысуан), насгьы анцәаԥҳәыс Вольтумна лыхьӡ зху аныҳәарҭаҿы имҩаԥысуан. Урҭ аизарақәа рҿы аидгыла азеиԥшусқәа зегьы рыӡбон (еиҳарак аибашьреи аҭынчреи рызҵаарақәа), еицырзеиԥшу адинтә ныҳәақәа азгәарҭон; Аизара амшқәа раан ахәмаррақәеи аицлабрақәеи еиҿыркаауан. Зыӡбахә ҳәоу аидгыла адагьы, иҟан даҽа еидгылақәакгьы (убас иҟоу 12 қалақьк рҟынтә), По аӡиас акаршәраҿыни, Кампаниаҿынгьы. Етрусктәи ақалақьқәа рҿы аҳра зуаз раԥхьатәи аҳтә, насшәа аамҭалатәи олигархцәа — Лукумони (Етр. lauchme — алаҭ. princeps) змаз аристократцәа рыла. VIII, VII ашәышықәсақәа рзы Етрускцәа рполитикатә мчра Латиуми Кампаниеи рҟынӡа иаларҵәан; Рим изныкымкәа ампыҵахалаҩцәа — лукумонаа рымчрахь ииасуан. Абарҭ ахҭысқәа рҭоурыхтә еиҭаҳәарақәа убарҭоуп Тарквинаа рышьҭра Рим аҳра аныруаз, Селес Вибеннеи Мастарнеи ирызку аҳәамҭақәа рҿы; аҵыхәтәантәи Нибур аҳ Сервиус Тулли диеиԥшуп (еиқәырԥш. Гардхаузен, “Mastarna oder Servius Tullius”, Леипциг, 1882). Иара убас шьақәнарӷәӷәоит атопографиатә дыррақәагьы: Есквилин, насгьы Тускустәи аквартал (vicas Tuscus) Рим, Латиум егьырҭ ақалақьқәа рҿы етрусктәи анекрополь аҟазаара. Тарквиниа ақалақь анкаҳа (VI ашәышықәса аҵыхәтәаны), Латиум аҟны Етрускцәа рнапхгара хыркәшан, шәышықәсақәа рышьҭахь Рим политикала еиҳа иӷәӷәахеит, насгьы Веиаа ақалақь агарала Етруриа ааха анаҭартә еиԥш алшара аиуит.

Ажәытә Германиа

Ихадароу астатиа: Ажәытә Германиа

Раԥхьаӡа ароманизациа аҽазышәарақәа ҟаиҵеит Иули Цезар, уи Мозель аӡиас акаршәраҟынӡа днеит, анаҩс Рейн дахысны Рур днеит. 16 шықәса ҳ. ҟ. рҟынӡа Германиа ахәҭак Галлиа Комата (Gallia Comata) апровинциа иахәҭакын. 12 шықәса ҳ. ҟ. азы амҽхак ду змоу германтә кампаниа мҩаԥигеит Нерон Клавдиус Друз, уи Германикус ҳәа атитул иоуит. Аимпериа аҳәаақәа Альбис (Ельба) аҟынӡа амҽхак ҭбаан, 9 шықәса ҳ. ҟ. азы ахылҵышьҭрақәа рыбжеиҳарак анапаҵақа иааган.. Тибери уи иус иациҵеит. Август, абри аусура абзоурала, Альбиси Рони (Рейни) рыбжьара Германиа Ду (Germania Magna) аиҿкаара рҭахын, аха ахылҵышьҭрақәа жәпакы рыдгьылҵакыра апровинциа ҳәа астатус аиоура иаҿагылон.

16—13 ашықәсқәа ҳ. ҟ. рзы Бельгиатәи Галлиа (Gallia Belgica) еиҿкаан Ҵаҟатәи (Inferior) Хыхьтәи (Superior) Германиа арратә цәаҳәа. Домициан арҭ ацәаҳәақәа ихьыԥшым апровинциақәаны ианыҟаиҵаз 83/84 шықәсқәанӡа, Ҵаҟатәии Абжьаратәи Реини рҿы иҟаз арқәа рнапхгаҩцәа формала Бельгиатәи Галлиа апрокурор ихылаԥшуан. Аҩ-регионк рыбжьара иҟаз аҳәаа Рейн акәын, уи ибзианы иӷәӷәаз аҳәаа (алимес) иаҩызахеит. Рейн аҳәаа аимпериаҿы зегь реиҳа иҭышәынтәаламыз аҳәаақәа иреиуан, убри аҟнытә Рим уа агарнизон ӷәӷәақәа аман. Аха, иааизакны 103 шықәса инаркны IV ашәышықәса аҵыхәанӡа, уи ахьчара иалагеит 2 легион мацара — Бонн I Минервиа, Кастрес Ветере VI Victrix, анаҩс «exercitus Germanicus Inferior» (EXEGERINF) ҳәа изышьҭаз — «Лаҟәтәи Германиа ар». 400 шықәса раҟара азы, Стилихон иаанхаз агорнизон зегь Италиаҟа ииаигеит, нас Германиа иаанхеит ирацәамыз аиҟәшақәа.

Британиа

Ихадароу астатиа: Аурымтәи Британиа

I ашәышықәса агәҭаны ҳ. ҟ. азы Рим Галлиа анампыҵахала ашьҭахь, Иули Цезар Британиаҟа ҩ-кампаниак мҩаԥигеит (55, 54 ҳ. ҟ.). Рим Британиа системала ампыҵахалара 43 н. э. шықәсазы иалаган, насгьы еиҳарак 60-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы ихыркәшахеит. Британиа Римтәи аимпериа иацәыхараз апровинциақәа ируакхеит. Еиҳарак аладатәи, амрагыларатәи, егьи ахәҭала агәҭантәи арегионқәа рҿы ароманизациа азун; мраҭашәареи Аҩадеи уи анырра рнамҭеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра рыбжьара лассы-лассы ақәгыларақәа ҟалон (иаҳҳәап, 61 шықәсазы Будиккатәи ақәгылара). Ампыҵахалара ирӷәӷәаз апунктқәеи (аурымтә гыларҭақәа) арратә мҩақәеи рсистема ала ишьақәырӷәӷәан. Аҩадатәи аҳәаақәа рҿы аурымтә нышәеиқәыԥсақәа дыргылон.

Уи асоциалтә еиҟәыҭхара апроцесс арццакуа, ари ампыҵахалара Кельттәи ауаажәларраҿы шьаҭанкылатәи аԥсахрақәа аанамгаӡеит. Римтәи аимпериа акризис Британиа алахьынҵагьы ианыруан. III ашәышықәса аҵыхәтәантәи аамҭазы, Кельттәии Саксонтәии ахылҵышьҭрақәа рқәыларақәа иалагеит. V ашәышықәса алагамҭазы Британиа Римтәи аҳра аанкылан. Британиа ҿыц ихьыԥшым кельттәи атәылаҿацәқәа жәпакны еилаҳаит.

Антикара

Аеллинизм

Ихадароу астатиа: Аеллинизм
Спарта адгьылҵакыра
Европа 220 шықәса ҳ. ҟ. азы

Аеллинисттә цивилизациа ақалақь-ҳәынҭқаррақәа ҳәа (урҭ рҟынтә зегь реиҳа ихадоу Афины, Спарта ракәын) иалагеит, урҭ ирыман зегь раасҭа еиуеиԥшымыз анапхгареи акультуреи, афилософиеи, аҭҵаарадырреи, аполитикеи, аспорти, атеатри, амузыкеи ахкқәа.

Аеллинтә қалақь-ҳәынҭқаррақәа Амшын Еиқәа, Абжьаратәи амшын, Азиа Хәыҷы, Сицилиа, Аахыҵтәи Италиа (Magna Graecia) рыԥшаҳәақәа рҿы аколониақәа рацәаны иаԥырҵеит, аха IV ашәышықәсазы ҳ. ҟ. рыҩныҵҟатәи аибашьрақәа ирыхҟьаны урҭ аҳ Филипп II Македониатәи изы имариаз ԥшаахны иҟалеит. Иԥа Александр Ду иҟаиҵаз акампаниақәа рыла абырзентә культура Персиеи, Мысреи, Индиеи ирыланаҵәеит, аха уи адагьы, арҭ атәылақәа ркультурақәа ржәытәтәи акультурақәа реимадара арманшәалеит, убри ала еллинизм ҳәа изышьҭоу аҿиаратә аамҭа ҿыц аанарԥшит.

Ажәытәтәи Рим

Ихадароу астатиа: Ажәытәтәи Рим
Римтәи аҽырҭбаара 264 ҳ. ҟ. — 180 ҳ.ԥ.

Абырзенцәа рдыррақәа иреиҳау ахәҭа Италиа адгьылҵакыра аҟынтәи зыҽзырҭбааз, Аурымтәи аҳәынҭқарра иаҵанакит.Аурымаа рыбџьартә мчра дуӡӡеи, раӷацәа реиҳараҩык рҿагылара рылымшареи ирыхҟьаны, Аурымтәи амчра аизҳараҿы зегь реиҳа ихьанҭаз аԥышәара ҟанаҵеит Карфаген иҟаз Финикиитәи аколониа, аха III ашәышықәса аҵыхәтәаны ҳ. ҟ. Карфаген ааха анаиу Аурымтәи агегемониа алагара ашьаҭа акит.

Раԥхьа аҳцәа анапхгара ззызуаз, нас асенатортә республика ҳәа (иахәаԥш Римтәи Ареспублика) иҟаз, Ажәытәтәи Рим аҵыхәтәантәи аамҭазы империаны иҟалеит I ашәышықәса аҵыхәтәаны ҳ. ҟ., Августи, насгьы иара иавторитартә шьҭанеицәа раан.

Аурымтәи аимпериа ацентр Абжьаратәи Амшын аҿы иҟан, уи аԥшаҳәаҿы иҟаз атәылақәа зегьы рнапаҵаҟа иҟан; аимпериа аҩадатәи аҳәаа аӡиасқәа Реини Дунеи рыла иарбоуп; Аимператор Траиан ихаан (ҳ.ԥ. II ашәышықәсазы), аимпериа зегь реиҳа аҽарҭбааит, Римтәи Британиа, Дакиа, Месопотамиа адгьылҵакырақәа нацҵаны. Аимпериа иаанагеит аҭынчреи, ацивилизациеи, еффективтәи ацентралтә ҳәынҭқарреи, аха ҳ.ԥ. ахԥатәи ашәышықәсазы еиуеиԥшым атәылауаҩратә еибашьрақәа ирыхҟьаны уи еилаҳаит.

IV ашәышықәсазы аимператорцәа Диоклетиани Константин I Дуи ирылшеит аимпериа Мраҭашәареи Мрагыларатәии ахәҭақәа рыла еиҩшаны (V ашәышықәсазы Мрагыларатәи ахәҭа ахьыԥшым Византиа аҳәынҭқарраны иҟалеит) Аурымтәи аимпериа аилабгара апроцесс аанкылара. Диоклетиан ақьырсианра ӷәӷәала данашьҭаз аамҭазы, Константин I 313 шықәсазы Милантәи иедикт ала ақьырсианцәа рышьҭашәарыцарақәа рҵыхәтәа ԥҵәоуп ҳәа рылаирҵәеит, убас ала аимпериа анаҩс 380 шықәсазы официалла ақьырсианра аиуразы аҭагылазаашьа шьақәиргылеит. Уи иабзоураны Ауахәама акыр зҵазкуа ҳәынҭқарратә усбарҭаны иҟалеит.

Абжьаратәи ашәышықәсақәа

Заатәи абжьаратәи ашәышықәсақәа

Ихадароу астатиа: Заатәи абжьаратәи ашәышықәсақәа
Европа 526 шықәсазы — аготцәа рнапхгара аҵаҟа, насгьы Византиатәи Аимпериа 600 шықәсазы, уи аҿиара аамҭазы

500 инаркны 1000 шықәса рҟынӡа абжьаратәи ашәышықәсақәа раԥхьатәи амшқәа рзы ажәларқәа рмиграциа ду ҟалеит, авикингцәеи атиуркцәеи Европаҟа иааит, ицәырҵит гуннаа, аварқәа, ахазарқәа, аболгарқәа рханрақәа; Италиа иҟаз остготқәа, Аквитаниеи Пиренеитәи адгьылбжьахалаҿы иҟаз авестготцәа раҳрақәа, насгьы Франктәи аҳәынҭқарра шьақәгылеит, уи ианыҿиоз аамҭазы Европа ихадоу ахәҭа аанакылон[24].

Аԥацәа рыбжьара аҭынха ашара атрадициа иахҟьаны, Франкцәа рыдгьылҵакыра еилаӡаны мацара акәын иаку ҳәынҭқарраны анапхгара шаиуаз, уи еихшаны иҟан еиуеиԥшым аҳрақәа рыла (regna). Аамҭа цацыԥхьаӡа аҳрақәа рхыԥхьаӡареи рҭыԥқәеи рҽырыԥсахуан, раԥхьаӡа аҳра заҵәык акәын Франкиа ҳәа изышьҭаз, уи Европа аҩадатәи ахәҭаҿы Реини Мауси аӡиасқәа рҿы иҟаз Австразиа акәын; аха зны-зынла аӡиас Луара аҩадахьы, аӡиас Сена амраҭашәарахь иҟаз Неустриа аҳрагьы ари ахшыҩзышьҭра иаҵанакуан. Аамҭа цацыԥхьаӡа, ахьӡ Франкиа ахархәара Парижҟа ииасит, аҵыхәтәан Париж иаакәыршаны иҟаз Сена аӡиас аӡҭарчы аҭыԥ аҿы иҟалеит (иахьа Иль-де-Франс ҳәа иашьҭоуп), уи Франциа аҳра зегьы ахьӡ анаҭеит.

VIII ашәышықәсазы пиренеитәи адгьылбжьахала атәцәа ирымпыҵаркит.

Карл Ду имчра ацентрализациа, иара убасгьы аҵарахьы имаз абзиабара, Каролингтәи Аиҭарҿиараҿы хадара злоу ароль нанагӡеит. Каролингтәи Аиҭарҿиара ӷәӷәала иадҳәалан аимпериа зегьы аҿы рымчра арӷәӷәара иашьҭаз Каролингцәа рҿаԥхьа иқәгылаз арра-политикатәи административтәи аҳасабтәқәа, урҭ ирҭахын аимпериа адгьылҵакыра зегь аҿы рымчра арӷәӷәахара, уи азы дара рзы ихымԥадатәиин амаҵуратә-административтә кадрқәа, аҵара змоу адинмаҵзуҩцәа рырхьиара. Урҭ ахықәкқәа рынагӡара мҩаԥысит ашкол ҿыцқәа раԥҵарала (Турс, Корби, Фулда, Реимс, Реихенау уҳәа убас иҵегьы). Каролингтәи Аиҭарҿиара агәҭа Карл Ду иаҳҭынраҿы иҟаз, Алкуин напхгара ззиуаз «Палатинтәи Академиа» иҷыдоу агәыԥ еиԥшын. Уи агәыԥ аҿы иҟан Карл Ду, уи ибиограф Еинхард, апоет Ангильберт уҳәа убас егьырҭгьы.

Каролингтәи Аиҭарҿиара аамҭазы, адунеитә дыррақәеи “Алибералтә ҟазарақәа бжьба” рахь аинтерес еизҳаит (Алкуин, Фулдатәи амонастыр абат Рабан Маврус, егьырҭгьы урҭ абжьаратәи аамҭақәа рзы ҿыцтәи аинтерпретациа рыҭара иашьҭан — афеодалтә-уахәаматә культура аҭагылазаашьақәа ирызкны). Каролингтәи Аиҭарҿиара ахаҿсахьақәа рыбжьара иҷыдоу аҭыԥ ааныркылеит Ирландиантәи иааз иммигрантцәа — Седулиус Скотт, абырзен бызшәа аспециалист, апоет, аҵарауаҩ, Иоанн Скот Ериугена, абжьаратәи ашәышықәсақәа раԥхьатәи аоригиналтә философ, апантеисттә система аԥҵаҩы[25].

Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии Европа

Аславианцәеи урҭ ргәылацәеи VII-VIII ашәышықәсақәа рзы иахьынхоз ахсаала

Европа Мраҭашәареи Мрагылареи рыбжьара аихшара еиҳагьы иӷәӷәахеит V ашәышықәсазы Мраҭашәаратәи Аурымтәи Аимпериа анхыбгала ашьҭахь, атиуркцәа Аттиллеи агермантә хылҵышьҭрақәеи анрымпыҵарк ашьҭахь, уи аамҭазы Мрагыларатәи Аурымтәи аимпериа (иара убас Византиатәи аимпериа) даҽа зқьышықәса ишыҟаз еиԥш. Аурымтәи аимпериа шәышықәсала абырзен бызшәеи алаҭын бызшәеи рыла еиҟәшан[26].

VII, VIII ашәышықәсақәа рзы, Арабцәа рҽырҭбаара аԥсылмантә культура Адгьылбжьаратәи амшын аахыҵтәи аԥшаҳәақәа рахь (Сириа инаркны Сицилиеи Испаниеи рҟынӡа) иаанагеит, еиуеиԥшым Абжьаратәи амшын ацивилизациақәа рыбжьара аиԥшымрақәа еизнарҳауан. Адырреи атехнологиеи рацәаны ирӡын, ахәаахәҭра ԥсыҽхеит, ауаа аҭыԥантәи ақыҭанхамҩатә еилазаарақәа рахь ихынҳәит.

Убри ашәышықәсазы атиуркцәа - аболгарцәа Европаҿы аҳәынҭқарра шьақәдыргылеит — Болгариа, анаҩс уи раԥхьатәи аславиантә ҳәынҭқаррақәа ируакхеит.

Афеодализм адунеи аҿы ақалақьқәа ахьыҟамыз еиҿкаара ҿыцк аԥнаҵеит, насгьы ақалақьқәеи еиҿкааны иҟаз арреи рыла ишьаҭаркыз ацентрализациа зызуыз Аурымтәи анапхгара аҭыԥан иҟалеит.

IX ашәышықәсазы Карл Ду апапцәа Геласи I, Григори I дрыцны аҭыхымҭа

Мраҭашәаратәи Европаҿы, VIII ашәышықәса аҵыхәтәаны — IX ашәышықәса абжьара, афранкцәа рҳәынҭқарцәа Карл Ду, Людовик Адинхаҵаҩ, Каролингтәи адинастиа Карл Лысыи раҳраан, иалагеит Каролингтәи Аиҭарҿиара. Уи аамҭазы еизҳазыӷьон алитература, аҟазара, архитектура, аиуриспруденциа, иара убасгьы атеологиатә ҭҵаарақәа. Каролингтәи Аиҭарҿиара аамҭазы, абжьаратәи аамҭақәа рзы алаҭын бызшәа аҿиара амч ду аиуит; алатинтә алфавит шьаҭас иҟаҵаны ицәырҵит иҷыдоу ашрифт, Каролингтәи аминускул. Аберҭыԥқәа рҿы ашколқәеи абиблиотекақәеи аартын.

X ашәышықәса алагамҭазы, Иустиниан Икодекс ацәырҵра Мрагылареи Мраҭашәареи рыбжьара ҿыц иҟалаз аҳәаақәа рыҩганкгьы азиндырратә ҵарақәа рахь аинтерес рызцәырнагеит. Акатоликтәи афранктәи мраҭашәараҿы аурымтәи азакәан, азакәантә концепциақәеи асистемақәеи зегьы шьаҭас иҟанаҵеит. Уи анырра Мраҭашәаратәи азинтә системақәа зегьы рҿы иубарҭоуп, еиуеиԥшым амҩақәа, еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рыла. Аканонтә зин аҭҵаара, Акатоликтә Еихырхәара азакәантә система,Аурымтәи азакәан аҭҵаара иалалеит, убри ала Мраҭашәаратәи азинтә ҭҵаарадырра аиҭарҿиара ашьаҭа шьақәнаргылеит.

Абжьаратәи аамҭақәа рзы иналукааша афилософ Фома Аквинтәи

Ажәытәӡатәи аамҭақәа рҟынтәи Абжьаратәи ашәышықәсақәа рҟынӡа, насгьы анаҩсангьы, Аиашахаҵаратә уахәама Мрагыларатәи Европаҿы анырра анаиуаз, Аладатәии Агәҭантәии Европа еиҳа-еиҳа Акатоликтә Уахәама аҵаҟа еизон, уи, Аурымтәи аимпериа анапхгара анацәыӡ ашьҭахь, Мраҭашәаратәи Европаҿы еидызкылоз амч заҵәык акәын. 1054 ашықәсазы Аиҟәҟьара Ду ҟалеит, уи иахьатәи аамҭазгьы иҟоу Европа ҿыц адинхаҵаратәи акультуратәи арегионқәа рыла ҳәа еихнашеит.

Аурымтәи аимпериа анхыбгала ашьҭахь, ажәытә бырзентә текстқәа рацәаны араб бызшәахьы еиҭаган, урҭ абжьаратәи аамҭақәа рзы аԥсылмантә дунеи аҿы иаанхеит. Абырзенцәа рклассика, арабтәи аҭҵаарадырреи, афилософиеи, атехникеи ирышьашәаланы, Мраҭашәаратәи Европаҟа ирылаҵәеит, насгьы алаҭын бызшәахьы еиҭаргеит, уи ала XII, XIII ашәышықәсақәа рзы Аиҭарҿиара ҟалеит.

Каролингтәи аимпериеи уи аилаҳареи

Европа (814 шықәса)
Каролингтәи аимпериа иреиҳау адгьылҵакыра. 843 шықәсазтәи адгьылҵакыратә еихшара 3 ахәҭақәа армарахьтә арыӷьарахь иаарԥшуп: Мраҭашәаратәи Франктәи Аҳра, Абжьаратәи Аҳра, Мрагыларатәи Франктәи Аҳра

Франкцәа рыԥсҳа Карл Ду 800 шықәсазы Аурымтәи Папа ила Мраҭашәара аимператорс ҳәа аҳра ииҭеит. Уи иимпериа шьаҭас иаман иахьатәи Франциа, Бенилиукс, Германиа адгьылҵакырақәа, нас аҽеиҵнахуан иахьатәи Венгриа, Италиа, Богемиа, Цаҟатәи Саксониа, Испаниа адгьылҵакырақәа рахь. Иаби иареи Ломбардтәи аҳра аҿагылараҿы ацхыраара зҭахыз Апапи иареи реизыҟазаашьақәа рҟынтәи ацхыраара ду роуит.

Карл Ду иԥсҭазаара даналҵ 814 шықәсазы ашьҭахь, Франктәи аҳәынҭқарра аҵыхәтәан абас еихшан:

Европа егьырҭ арегионқәа

Европа 1000 шықәсазы

833 ашықәсазы Моџьмир I Нитратәи аҳра Моравиа Ду иадиҵеит, 846 ашықәсазы имчра Чехиатәи Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл ахь иалаирҵәеит.

IX ашәышықәса анҵәамҭазеи X ашәышықәсазеи рзы, Аҩадатәии Мраҭашәаратәии Европеи ирызцәырҵит «Авикингцәа» рымчреи рнырреи, урҭ амшын иӡсо рыӷбақәа рыла иаарласны, ахәаахәҭра мҩаԥыргон, ирымпыҵаркны иргон, насгьы анырхара иаҿын. Авенгрцәа Европа аконтинент цәдырҳәит, арабцәа аладатәи атәылақәа цәдырҳәит.

X ашәышықәсазы, Моравиа Ду анырра абзоурала, еикәарҳәу араӡын лыцқәа, ахҵарақәеи агәыдҵақәеи рзы афилигрантә ҟәаҟәақәа, агәыдҵақәа Мрагыларатәи Европаҟа ирыланаҵәеит[27]. X ашәышықәса аҩбатәи азбжаҿы Лука-Раиковецтәи акультура атрадициақәа ажәытә урыстәылатәи акультура акомплекс инагӡаны иацәхьаҵит, иара убас аингумациақәа рцәырҵрагьы уахь иналаҵаны[28].

X ашәышықәсазы Агәҭантәи Европаҿы ихьыԥшым аҳрақәа шьақәгылеит. Польша Аҳра шьақәгылеит Висла аӡиас аҿы инхоз Мраҭашәаратәи аславиантә жәларқәа рҟынтә. Авенгрцәа Паннониа рнапаҿы иааганы Венгриа Аҳра шьақәдыргылеит. IX—X ашәышықәсақәа рынҵәамҭазы, Мрагыларатәи аславиантә жәларқәа ҳәынҭқарракны еидгылеит, аҳҭнықалақь Киев иҟан. X ашәышықәса анҵәамҭазы Польшеи, Венгриеи, Урыстәылеи ақьырсианра рыдыркылеит.

Анаҩстәи аамҭазы, 1000 шықәса рҟынӡа ихыркәшаз, афеодализм еиҳагьы иӷәӷәахеит, уи Иԥшьоу Аурымтәи Аимпериа арԥсыҽит.

Иҳараку абжьаратәи ашәышықәсақәа

Ихадароу астатиа: Иҳараку абжьаратәи ашәышықәсақәа
Европа XII ашәышықәса анҵәамҭазы

1054 шықәсазы ақьырсиантә уахәама аихшара ашьҭахь, Мраҭашәаратәи ақьырсианра рыдыркылеит ҿыц иаԥҵаз Агәҭантәи Европа аҳрақәа рҿы: Польша, Венгриа, Богемиа.

Аурымтәи Акатоликтә уахәама амчра хаданы иҟалеит, уи Апапи Аимператори рыбжьара аимак-аиҿакқәа рызцәырнагеит. Аурымтәи Акатоликтә Уахәама анапхгара аҵаҟа иҟаз атәылаҿацәқәа ӷәӷәала рыҽдырҭбааит Скандинавиа, Литва, Польша, Венгриа амырҭаҭратә кралцәа ақьырсианра рыдкылара иабзоураны, насгьы Аџьарныҟәгаҩцәа рныҟәара абзоурала. Европа ихадоу ахәҭа XV ашәышықәсазы аромантә-католикцәаны иҟалеит. Амрагыларахьтәи ақьырсианра Византиеи, Урыстәылеи, Балканқәеи рҿы ишақәырӷәӷәан.

XIII ашәышықәса абжьаразы амонголцәа Мрагыларатәии Агәҭантәии Европеи иақәлеит. Урыстәыла, Польша, Венгриа иԥыххаа иқәырҵеит. Мрагыларахьтәи Европа акаршәрақәа рҿы Ахьтәы Орда цәырҵит.

Ихьшәоу абжьаратәи ашәышықәсақәа

Ихадароу астатиа: Ихьшәоу абжьаратәи ашәышықәсақәа

Мраҭашәаратәи Европа ацивилизациа аиҭаира раԥхьатәи ашьаҿақәа ааԥшра иалагеит XI ашәышықәсазы, Венециеи Флоренциеи реиԥш иҟоу ихьыԥшым ақалақь-ҳәынҭқаррақәа рҟны аекономикеи акультуреи рыҿиарахь инагоз ахәаахәҭра Италиа ҩаԥхьа ианалага. Уи аамҭазы, амилаҭтә-ҳәынҭқаррақәа рышьақәгылара иалагеит Франциа, Англиа, Испаниа, Португалиа реиԥш иҟоу аҭыԥқәа рҿы, урҭ рышьақәгылара апроцесс (еиҳарак амонархиа, аристократиатә феодалцәа, ауахәама рыбжьара аицлабра аанарԥшуан) шәышықәсала ишцозгьы. Даҽа ганкахьалагьы, Иԥшьоу Аурымтәи Аимпериа, еиҳарак Германиеи Италиеи рҿы иҟаз, еиҟәыҭханы иҟан хыԥхьаӡара рацәала афеодалтә ҳәынҭқаррақәа рахь, мамзаргьы ақалақь-ҳәынҭқаррақәа рахь, урҭ аимператор изыӡырҩра формалла мацара акәын.

Европа иҟалаз амашәырцәгьа дуқәа иреиуан абубониктә чума, уи Аԥсра Еиқәаҵәа ҳәагьы иашьҭоуп. Ачымазара ахыҵәарақәа рацәан, аха зегь реиҳа ихьанҭаз агәҭаны иҟан 1300-тәиқәа рзы; еиуеиԥшым агәаҭарақәа рыла, урҭ Европа ауааԥсыра рыхԥа рыхәҭак рышьра. Аиудеиаа аӡәырҩы аԥара ԥсахны аус руан аҟынтә (ақьырсианцәа рзы аԥара ԥсахра азин рымамызт), егьырҭ европауаа рҟынтәи урҭ рахь анегативтә еизыҟазаашьа шьақәнаргылеит. Убри аҟынтә лассы-лассы аиудеиаа аепидемиа рыларҵәаразы ахара рыдҵон. Уи иахҟьаны Европа аҭыԥқәак рҿы аиудеиаа рышьҭашәарыцарақәа еиҳа иӷәӷәахеит. Зқьҩыла аиудеиаа Польшаҟа ибналеит.

Европа (1360 шықәса)

XIV ашәышықәса абжьара инаркны XV ашәышықәса абжьаранӡа Франциа имҩаԥысит Франциеи Англиеи рыбжьара Шәышықәсатәи аибашьра. Англиа ааха анаиу иахҟьаны Англиа аҩнуҵҟа Ацәаԥшьи Ашкәакәеи реибашьра ҳәа изышьҭаз афеодалтә еибашьра ҟалеит.

XIV ашәышықәса инаркны Балтикатәи амшын зегь реиҳа ихадоу ахәаахәҭратә мҩақәа ируакхеит. Ахәаахәҭратә қалақьқәа реидгыла Ганзеитәи Ахеилак иацхрааит Польшеи, Литвеи, егьырҭ Балтикатәи атәылақәеи рҭыԥ дуқәа Европатәи аекономика алаҵара.

Мрагыларатәи Европаҿы XIII—XIV ашәышықәсақәа рзы Литватәи Аҳәынҭқарра Ду шьақәгылеит, насгьы Урыстәыла аахыҵ-мраҭашәаратәи ахәҭа дуқәа анапхгара аҵаҟа иҟалеит. XV ашәышықәса анҵәамҭазын, Урыстәыла аҩада-мрагыларатәи аҳәынҭқаррақәа Москва анапхгара аҵаҟа еидгыланы Урыстәылатәи аҳәынҭқарраны иҟалеит. Убри аамҭазы Ахьтәы Орда еихшан хазы-хазы аханрақәа рыла.

Традициала, абжьаратәи ашәышықәсақәа анҵәамҭа адҳәалоуп Константинополь аилабгареи 1453 шықәсазы Османтәи аҭырқәцәа Византиа ргареи. Аҭырқәцәа ари ақалақь ҟарҵеит Османтәи Аимпериа аҳҭнықалақьны, уи аамҭазы Балканқәа рнапаҿы иааргеит, анаҩсгьы Агәҭантәи Европаҟа рҽырҭбаара иацырҵеит.

1492 ашықәсазы, Гранада анеилаҳа ашьҭахь, Ибериатәи адгьылбжьахала ареконкиста апроцесс хыркәшахеит. Аҵыхәтәаны аԥсылманцәа Мраҭашәаратәи Европа иалырцеит. Испаниеи Португалиеи Америкаҟа рҽырҭбаара иалагеит.

Аиҭарҿиара аамҭа

Ихадароу астатиа: Аиҭарҿиара аамҭа
Леонардо да Винчи исахьа «Витрувиантәи ауаҩы»

Аиҭарҿиара Италиа ицәырҵит, уаҟа уи раԥхьатәи аҷыдарақәа убарҭан XIII, XIV ашәышықәсақәа рзы, апрото-Ренессанс аамҭазы (Тони Парамони иҭаацәара, Пизано, Џьотто, Орканья уҳәа убас иҵегьы русураҿы), аха уи ӷәӷәала ишьақәгылеит 1420-тәиқәа ашықәсқәа инаркны. Франциеи, Германиеи, егьырҭ атәылақәеи рҿы ари аҵысра акыр насшәа иалагеит. XV ашәышықәса аҵыхәтәаны уи аҿиара аҩаӡара ду аанарԥшит.

Аиҭарҿиара ашьақәгылараан ҷыдала аҵакы аман Византиа аҳәынҭқарра аилаҳара, насгьы, абжьаратәи аамҭақәа рзы Европа иазымдыруаз ажәытә хыҵхырҭақәа рацәаны иҟаз рышәҟәҭагаларҭақәеи рҟазаратә усумҭақәеи рыманы, иара убас Византиа ахаангьы ихамшҭуаз ажәытәтәи акультура аныҟәгаҩцәа, Европаҟа ибналаз авизантииццәа ракәын. Убас, Козимо де Медичи Византиатәи арҵаҩы иажәахә џьашьаны, Флоренциа ақалақь аҿы Платон иакадемиа аԥиҵеит.

Ақалақь-республикақәа рыҿиара иахҟьаны афеодалтә еизыҟазаашьақәа ирылахәымыз аклассқәа рнырра еизҳаит: аҟазацәеи анапҟазацәеи, аҭуџьарцәеи, абанкирцәеи. Абжьаратәи аамҭақәа рзы, еиҳарак ауахәаматә культура иаԥнаҵаз аҵаҵӷәқәа риерархиатә система, насгьы уи аскеттә, ахынрааларатә ԥсы зегьы рзы итәымын. Уи абзоурала ицәырҵит агуманизм — ауаҩы, ихаҭара, ихақәиҭра, иактивтә, иҟазаратә усура аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыхәшьара иреиҳау акритерианы изыԥхьаӡоз асоциал-философиатә еиҿкаара.

Ақалақьқәа рҿы аҭҵаареи аҟазареи рзы адунеитә центрқәа цәырҵуа иалагеит, урҭ русура ауахәама анапхгара аҵаҟа иҟамызт. Адунеихәаԥшышьа ҿыц ажәытәӡатәи аамҭахь ииасит, уи агуманисттә, аскеттәым аизыҟазаашьақәа ҿырԥшрала иарбаны. XV ашәышықәса абжьаразы акьыԥхьра аԥҵара ажәытә ҭынхақәеи ахәаԥшышьа ҿыцқәеи Европа зегьы аҿы рыларҵәараҿы ароль ду нанагӡеит.

Аамҭа ҿыц

Иԥасоу аамҭа ҿыц: XVI—XVIII ашәышықәсақәа

Ихадароу астатиа: Аԥхьатәи амодерн

Агеографиатә аартра дуқәа

Ихадароу астатиа: Агеографиатә аартра дуқәа
Европа 1519 шықәсазы
«Санта-Мариа»

XV ашәышықәса абжьараеи XVII ашәышықәса абжьареи рзы имҩаԥгаз агеографиатә аартра дуқәа Европа акапитал раԥхьатәи аизгара апроцесс иадҳәалан. Ахәаахәҭратә мҩа ҿыцқәеи атәылақәеи рышьҭкаара, ҿыц иаартыз адгьылқәа рқәылара абри апроцесс аҿиара иацхрааит, насгьы акапитализм аколониалтә система аԥҵареи адунеизегьтәи аџьармыкьа ашьақәгылареи ашьапы анаркит. XV ашәышықәса аҵыхәтәан, аныҟәаратә мыругақәа (компас, астролиабиа) акырӡа иеиӷьтәын, уи абзоурала иаарту амшын аҿы аӷба ахьыҟоу еиҳа ииашаны аилкаара алыршахеит. Ицәырҵит аӷба хкы ҿыц — акаравель, уи аԥша иаҿагыланы ицоз аԥрақәа рсистема абзоурала, аныҟәара алшон, 22 км/сааҭ аццакыра аманы. Уи адагьы, амшын мҩасрақәа, аӡааскьареи аӡагхареи, аԥша ахьцо ирызку аинформациа цәырҵуеит. Адгьыл ҿыцқәа ахсаала рынҵара акартографиа аҿиара иацхрааит. Уи адагьы, традициала европауаа Индиаҟа амҩа заҵәык акәын ирдыруаз — Абжьаратәи Амшын ала, нас дгьылла. Аха Абжьаратәи Амшын Сельџьуктәи аҭырқәцәа иргеит; XIV—XV ашәышықәсақәа рзы урҭ амшын аҿы аҳра руан, европатәи аҭуџьарцәа рҟынтәи аҳаза дуқәа еизыргон, иара убас ашхәарра рхы иадырхәон. Убри иахҟьаны, Абжьаратәи Амшын иалсны ицоз амҩа даара ахә цәгьахеит, иагьфеидамхеит, убри аҟнытә Индиаҟа амҩа ҿыцқәа рыԥшаара азҵаара цәырҵит.

Абарҭ амҩақәа рыԥшаараҿы, Христофор Колумб Америка ааиртит 1492 шықәсазы, Васко да Гама, аахыҵ аганахьала Африка дакәшан, 1498 шықәсазы Индиа днеит. Арҭ аартрақәа даара иџьашьахәын, насгьы Европа аҿиаратә перспективақәа ҿыцқәа аанартит.

Агеографиатә аартра дуқәа ирыбзоураны иҟалеит Испаниеи Португалиеи рколониалтә империақәа аиҿкаара. Ихадоу ахәаахәҭратә мҩақәа уажәшьҭа Атлантикатәи, Аҭынчи, Индиатәии аокеанқәа ирылсны ицон; Венециеи Генуеи реиԥш иҟоу Италиатәи ақалақьқәа адунеизегьтәи ахәаахәҭратә центрқәа реиԥш иҟаз тҭагылазаашьа рцәыӡит, насгьы Лиссабон мрагыларатәи аалыҵқәа рыҭирҭа хаданы иҟалеит.

Италиатәи аибашьрақәа

Ихадароу астатиа: Италиатәи аибашьрақәа
Карл V Габсбургтәи, Иԥшьоу Римтәи Аимпериа аимператор, Испаниа аҳ

XV ашәышықәса анҵәамҭа зегьы — XVI ашәышықәса актәи азбжазы Европа зегьы аҿы еиуеиԥшым аибашьрақәа мҩаԥысуан, урҭ мзыз хадас ирымаз Габсбургцәеи Франциеи реиҿагылара акәын. Арратә хҭысқәа ртеатр хада Италиа акәын. Урҭ аибашьрақәа ирыхҟьаны Франциа Италиа иалцан, насгьы Габсбургтәи Испаниа, уигьы адунеи аҿы иреиҳау аколониалтә мчраны иҟаз, Европаҿы ԥхьагылаҩыс иҟалеит.

Ареформациа

Ихадароу астатиа: Ареформациа
Мартин Лутер апап ибулла ибылуеит. Амҿтәы гравиура, 1557 шықәса

Акатоликтә қьырсианра XVI ашәышықәсазы иҟалаз Ареформациа иахҟьаны ҩ-хәҭакны еиҟәшахеит. Ареформациа иалҵшәаны, Европатәи атәылақәа рҿы ицәырҵит ахатәы милаҭтә уахәамақәа, асоветтә мчра арӷәӷәара мҩаԥысуан, ацентралтә ҳәынҭқаррақәа шьақәглон. Ақьырсиантә дунеи хәыҷы-хәыҷла Европатәи ацивилизациа иаҩызахеит. Ари Европа ҳаамҭазтәи Европа аасҭа ихәыҷын: еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны, Британиа Ду, Польша (насгьы, уи иахҟьаны, иахьатәи Мраҭашәаратәи Украина адгьылҵакыра), Мальта, иара убас аамҭақәак руак иахьатәи Бырзентәыла, Литва, Кипр, Румыниа, Сербиа, Черногориа, Болгариа, Беларус, Урыстәыла (аҭатар-монголтә қәылара инаркны XVIII ашәышықәса алагамҭанӡа); Иахьатәи Албаниа, Босниа, Қырҭтәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан (XVIII ашәышықәса алагамҭанӡа), иара убас еиуеиԥшым аамҭақәа рзы — Чехиа, Словакиа, Венгриа (ҭырқәцәеи монголтәи ампыҵахалаҩцәа раан) ртәылақәа раԥхьаӡа иргыланы Мраҭашәаратәи Европа аполитикатә хәҭак аҳасабала иԥхьаӡамызт.

Османтәи Аимпериа Европа ихадоу ахәҭа анапаҵаҟа иҟан, аха Акатоликтә Мраҭашәара уи аԥсылманра амзызла итәым ҳәа иԥхьаӡон, Урыстәылатәи Аҳра аиашахаҵара амзызла ишаԥхьаӡоз еиԥш. 1518 ашықәсазы, европатәи аҳәынҭқаррақәа жәпакы аҩганктәи аибашьра рыбжьамларц азы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит (Лондонтәи аиқәшаҳаҭра).

Аха шықәсқәак рыла еиҭах аибашьрақәа рацәаны иалагеит, урҭ рҟны иҟан Даниа Швециа иаҿагылаз аибашьра, Англиа, Испаниа Франциа иаҿагылаз аибашьра. Ареформациа иахҟьаны Европа аҭынчра ашьақәыргылара шәышықәса ԥхьаҟа аҵахәтәы ԥнаҵәеит..

XVI ашәышықәса аҩбатәи абжазы Франциа акыр шықәса адинтә еибашьрақәа мҩаԥысуан. Мрагыларатәи Европаҿы Польшеи Литвеи еидгыланы Польша-Литва Аидгыла шьақәдыргылоит. Урыстәыла ԥыхьатәи Ахьтәы Орда иаҵанакуаз аханрақәа ааннакылоит. Ливонтәи Прибалтика анырра азы, Урыстәылеи, Реч Посполитеи, Швециеи рыбжьара иҟаз Ливонтәи аибашьра, хыркәшахоит ԥыхьатәи Ливониатәи Аорден адгьылқәа Польшеи Швециеи рыбжьара реихшарала.

Ҩажәижәаба шықәсатәи аибашьра

Европа 1648 шықәсазы Ҩажәижәаба шықәсатәи аибашьра ашьҭахь

Аугсбургтәи аадинратә аиқәшаҳаҭра (1555) Германиа иҟаз алиутеранцәеи акатоликцәеи рыбжьара иаарту аиҿагылара аамҭала иаанкылеит. Аҭынчратә ԥҟарақәа рыла, Германиатәи аҳцәа рхатә ҳәынҭқаррақәа рзы адин (алутеранизм ма акатолицизм) рхатә гәаԥхарала иалырхыр рылшон, апринцип «Зымчра, идинхаҵара» инақәыршәаны.

Убри аамҭазгьы Акатоликтә Еихырхәара иацәыӡыз анырра аиҭашьақәыргылара аҭахын. Ацензуреи аинквизициеи еиҳа иӷәӷәахеит, насгьы иезуитцәа рорден ӷәӷәахеит. Ватикан иаанхаз акатоликатә напхгаҩцәа зегь рыла ирыдцалеит рҳәынҭқаррақәа рҿы апротестантизм ықәыргарц. Габсбургцәа ӷәӷәала католикцәан, аха империатә статус ахьрымаз азы адинтә чҳара апринципқәа ирықәныҟәалар акәын. Убри аҟнытә, урҭ Аконтрреформациаҿы аҭыԥ хада Бавариа анапхгаҩцәа ирырҭеит. Адинхаҵаратә еиҿагылара еизҳауан.

Еизҳауаз ақәыӷәӷәара еиҿкааны аҭак аҟаҵаразы, Аахыҵтәии Мраҭашәаратәии Германиа 1608 шықәсазы иаԥҵаз апротестанттә ҳәынҭқарцәа Аевангелиетә Еидгылаҿы иадгылеит. Уи аҭакс, акатоликцәа еидгылеит Акатоликтә Лига (1609) ҳәа. Аҩ-еидгылакгьы иаразнак аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа ирыдгылеит. Абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы аимпериа зегьы иаҵанакуа ахылаԥшырҭақәа — Реихстаг, Аӡбаратә палата — русура аанкылан.

«Миунстер аҭынчра азгәаҭара». Бартоломеус ван дер Хельст исахьа, 1648 шықәса

1617 шықәсазы, Габсбургцәа рдинастиа аҟәшақәа ҩбагьы маӡалатәи аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, Ониаттәи аиқәшаҳаҭра, уи иаанарԥшит иҟаз аиқәымшәарақәа. Уи аԥҟарақәа рыла, Испаниа иақәгәыӷын адгьылқәа рыҭара Ельзаси Аҩадатәи Италиеи рыдгьылқәа рҿы, уи Испаниатәи Нидерландиеи Габсбургцәа Италиатәи атәқәеи рыбжьара адгьылтә еимадара ҟанаҵон. Уи аҭакс, Испаниа аҳ Филипп III аимпериа агәыргьын мап ацәикит, насгьы Штириатәи Фердинанд икандидатура адгылара дақәшаҳаҭхеит. Аҳра зуаз Иԥшьоу Римтәи Аимпериа аимператор, Богемиа Аҳ Матфеи ииашаҵәҟьаны ҭынхас дыҟамызт, убри аҟнытә 1617 шықәсазы Чехиатәи Асеим мчыла дидикылеит иашьа иԥа Штириатәи Фердинанд, гәык-ԥсык ала католикс иҟаз, иара иҭыԥан дрыдыркыларц. Еиҳарак апротестантцәа ахьыҟаз Чехиаҿы уи даараӡа дырҭахымызт, убри аҟнытә ақәгылара мзызс иамаз, уи Ҩажәижәаба шықәсатәи аибашьра ҳәа изышьҭоу аиҿагылара ду ахь ииасит. Уи даараӡа иҭарцәыз аибашьра иалҵшәаны иҟалеит Вестфалиатәи аиқәшаҳаҭра, 1648 шықәса, уи Германиа зегьы аҿы акатоликтәи алутерантәи адинқәа еиҟараны ишьақәнаргылеит. Вестфалиатәи асистема ҳәа изышьҭоу цәырҵит, уи жәларбжьаратәи азин аҿиараҿы зегь реиҳа ихадоу етапын.

Уи аамҭазы, 1648 ашықәсазы, 1568 шықәса инаркны Испаниа Нидерландқәа Еидҵоу Апровинциақәа рхақәиҭра ақәшаҳаҭхеит. Испаниеи иареи реибашьра ашықәсқәа раан, ақәгылаҩцәа Нидерландтәи апровинциақәа рҿы ирылшеит иҿиаз аекономикеи иӷәӷәоу афлоти рыла ишьаҭаркыз, инаӡоу аҳәынҭқарра аԥҵара. 1602 ашықәсазы иаԥҵан Нидерландтәи Ост-Индиатәи Акомпаниа, уи абзоурала Нидерландқәа рхатә колониалтә империа рыман, Испаниеи Португалиеи рымшынҵаанырцәтәи рымазарақәа рышьҭахь ахԥатәи аҭыԥ ааннакылоит. XVII ашәышықәса агәҭаны Амстердам адунеи афинанстәи акоммерциатәи центрны иҟалеит. Аха Нидерландқәа ирыман амч ду змаз аконкурент, уи аамҭазы ареволиуциатә ԥсахрақәа ахьымҩаԥысуаз — Англиа.

Англызтә револиуциа

Ихадароу астатиа: Англызтә револиуциа
Карл I ишьра

Зегь раԥхьа иргыланы аибашьра зыхҟьаз адин акәын. Карл I 1625 шықәсазы аҳас даныҟала, иара иангликанизм астили, иара убас иԥҳәыс — афранцыз католикԥҳәыси Англиа акатоликизм ахь ихынҳәуеит ҳәа ақәыргәыӷра ҟарҵон. Уи адагьы, апарламенти иареи реизыҟазаашьақәа ҽеимызт, 1620-тәиқәа рзы хра злам аилатәарақәа ирыхҟьаны 11 шықәса рыҩныҵҟа апарламент еизомызт. Аха 1640 шықәсазы Шотландиа ақәылара ашьҭахь, Карл мчыла Апарламент еизигар акәхеит, арра аԥара аиқәыршәаразы. Апарламент Ирландиа ақәгылара ақәгаразы аԥара аҭара мап ацәнакит, насгьы уи ақәшаҳаҭрада апарламент аԥыхра залымшо азакәан рыдыркылеит. Нанҳәамза 1641 шықәсазы Апарламент иаднакылеит «Аремонстрациа Ду», аҳра ацәгьоурақәа рсиа зныз астатиақәа реизга. Уи ашьҭахь аҳәынҭқарратә мчра апарламент анапаҿы иҟалеит.

Аҳ иҭаацәеи иареи Лондон аанрыжьит Лаҵарамза 1642 шықәсазы, насгьы аҳратә стандарт Ноттингемҟа ашьҭыхра аибашьра алаҳәара акәхеит. Карл иган «Кавалиерс» ҳәа иашьҭан; Апарламенттә ган ахьӡҵас «Ахыгьежьцәа» ҳәа ахьӡҵан. Раԥхьатәи иқәҿиарақәа рышьҭахьгьы, Карл ааха иоуит, 1646 шықәсазы Карл Шотландиаҟа дыбналеит, Ажьырныҳәамза 1647 шықәсазы Англиатәи Апарламент 400 000 фунт стерлинг рыла дрыҭан. Абҵарамза 1647 шықәсазы Уаиттәи адгьылбжьаха ахь дыбналт, аха хара имгакәа ҩаԥхьа дҭаркит.

Апарламенттә арратә напхгаҩы Оливер Кромвелл иҳәарала, Ажәлар Реизара ажьырныҳәамза 1648 шықәсазы аҳи иареи ирыбжьарҵо аиҿцәажәарақәа зегьы аҳәынҭқарратә чарҳәароуп ҳәа ирыланарҵәеит. Уи аусԥҟа апровинциақәа жәпакы аҳ ихьчаразы абџьар шьҭырхыр акәхеит, насгьы Шотландиа аҳәаа иаҩсны Лондонҟа ицеит. Кромвель иаарласны ақәгылара ихәаҽит, насгьы Единбургҟа днеины ҩынтә еиҳа иӷәӷәаз Шотландиатәи ар иԥыхаа иқәыиҵеит. Аха Апарламент Кромвелл иҟамзаара ахархәарала, ҩаԥхьа аҳи иареи рыбжьара аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргеит, урҭгьы, ԥасатәи аиҿцәажәарақәа реиԥш, илҵшәадахеит. Згәы ԥжәаз аиндепендентцәа Лондонҟа ицеит; 1648 шықәса ԥхынҷкәынмза 6 рзы Праид инапхгара аҵаҟа иҟаз ҩ-полкк Ажәлар Реизара иҩналт, 45 апресвитериантә партиа алахәылацәа ҭаркит, насгьы аӡәырҩы ҭырцеит. 489 апарламент адепутатцәа рҟынтә 83 аанхеит, аҳ иажәалагалақәа шрыдымкыло ажәа рыҭаны. «Ирыцқьаз» Апарламент (хыччарала Rump Parliament, даҽакала апарламент «Аҵыхәа» ҳәа иашьҭан) аӡбаҩ Брадшоу напхгара зиҭоз аҳ иусӡбара аамҭа ақәырҵеит. Алордцәеи аҳи аҿагылара шрымазгьы, иара убасгьы Шотландиеи, Франциеи, Голландиеи рыбжьаҟазара шрымазгьы, 1649 шықәса ажьырныҳәамза 27 рзы аӡбарҭа аҳ ашьра иқәнаҵеит атиран, аҳәынҭқарра чарҳәаҩ ҳәа. Ажьырныҳәамза 30 рзы Карл I ихы ашьаҟаҿы иқәиҵеит.

Англиа ареспублика ҳәа иалаҳәан, аха амчра уи анапаҿы иҟан Кромвелл анапхгара ззиуаз аруаа ргәыԥ. 1653 шықәса инаркны “Лорд Протектор” ҳәа атитул зауз Кромвелл имацара анапхгара ҟаиҵо далагеит.

1657 шықәсазы, апарламент ҿыц Кромвель аҳ ҳәа атитул идигалеит, уи иара мап ацәикит, аха амчра ҭынхала аиҭара дшақәшахҳаҭхазгьы. Аха иԥа Ричард Кромвелл напхгаҩы ԥсыҽны дыҟан; 1660 шықәса алагамҭазы иара дҭырцеит, Стиуарҭцәа рдинастиа аиҭашьақәыргылара ҟалеит: Карл I иԥа ахҵәара аҟынтәи дхынҳәит, Карл II зыхьӡыз аҳас дҟалеит. Аидгыларатә Акт (1707) Англиа, Шотландиа Аҳрақәа рпарламентқәа еиднакылеит Британиа Ду аԥҵаразы. Аидгыларатә Акт (1800) Британиа Дуи Ирландиеи рҳәынҭқаррақәа Еиду Аҳра еиднакылеит.

Аҵарадырра аамҭа

Ихадароу астатиа: Аҵарадырра аамҭа
Џьон Локк

Иахьатәи аамҭа аҭоурых аҿы «Аҵарадырра» даара акрызҵазкуа аҵакы амоуп. Аҵарадырра XIV—XV ашәышықәсақәа рзы иҟаз ауаатәыҩсатә культуратә хырхарҭа ҵабыргны иацҵоуп, уи адагьы, аиндивидуализми атрадициақәа рахь акритикатә знеишьеи рыла иааԥшуеит. Аха Аҵарадырра аамҭеи агуманизм аамҭеи еиҟәыҭхоуп адинытә реформациеи акатоликатә реакциеи раамҭеи, Мраҭашәаратәи Европа аԥсҭазаараҿы атеологиатәи ауахәаматәи апринципқәа ҩаԥхьа аԥхьагылара анроуз рыла. Аҵарадырра агуманизм мацара акәымкәа, XVI, XVII ашәышықәсақәа рзы иҟаз иԥхьагылоу апротестантизм атрадициақәа ирыдҳәалоуп, урҭ рҟынтәи аполитикатә хақәиҭреи аламыс ахақәиҭреи ргәаанагарақәа ҭынхас иҟалеит. Ареформациа аамҭа аидеиақәа рҟынтәи Аҵарадырра аамҭа аидеиақәа рахь аиасра зегь реиҳа иманшәалоуп Англиа XVII ашәышықәса анҵәамҭеи XVIII ашәышықәса алагамҭеи рзы, деизм аныҿиаз, уи ареформациа аамҭа адинтә еволиуциа ахыркәшара акәын, насгьы «аԥсабаратә дин» ҳәа изышьҭоу уи XVIII ашәышықәсазтәи аҵарадырҩцәа ирыдырҵоз алагамҭа акәын. Еиҳаракгьы, XVIII ашәышықәсазтәи аҵарадырратә литература ашьаҭаркҩы иаҳасабала уахәаԥшыр алшоит Џьон Локк. Агуманизми апротестантизми реиԥш, еиуеиԥшым атәылақәа рҿы Аҵарадырра аҭыԥантәи амилаҭтәи аҟазшьа аиуит.

XVIII ашәышықәсазы Европа зегьы аҿы аҵакы аиуит Вольтер, Монтескье, Руссо, Дидро уҳәа егьырҭ ашәҟәыҩҩцәа рхаҿсахьала французтәи аҵарадырратә литература. Урҭ еицырзеиԥшу ҟазшьоуп рационализм аҳра аура, уи Франциа акритика аполитикатәи асоциалтәи ҟазшьа змоу азҵаарақәа рахь ирхан, аха ари апериод аҿы иҟаз агерман ҵарадырҩцәа еиҳарак адинеи аморалтәи зҵаарақәа рыӡбара иазкын.

Аҵарадырра ахықәкы хадас иамаз ауаҩы ихшыҩ аусурала ауаҩы иԥсҭазаара иԥсабаратәу апринципқәа рыԥшаара акәын (аԥсабаратә дин, аԥсабаратә закәан, афизиократцәа рекономикатә ԥсҭазаара аԥсабаратә еиҿкаара, уҳәа убас иҵегьы). Абас еиԥш иҟоу ахшыҩ змоу, иԥсабаратәу апринципқәа рганахьала, аҭоурых аҿы ишьақәгылахьоу, иҟоу аформақәеи аизыҟазаашьақәеи зегьы (позитивтә дин, позитивтә закәан, уҳәа убас иҵегьы) акритика рзыруан. Аҵарадырратә идеиақәа рныррала, асоциалтә ԥсҭазаара зегьы еиҭашьақәдыргыларц зҭахыз аиҭакрақәа мҩаԥган (ҵарадырратә абсолютизми Франциатәи ареволиуциеи).

XVIII ашәышықәса алагамҭазы

Мраҭашәаратәи Европаҿы XVIII ашәышықәса алагамҭазы, амчра дуқәа Испаниа ашьҭра аибашьра иалахәын. Мрагыларатәи Европаҿы Аҩадатәи аибашьра иахҟьаны Урыстәыла империаны иҟалеит, насгьы Швециеи Польша-Литватәи Аидгыла ԥсыҽхеит. Аҭырқәцәа Европаҟа рҽырҭбаара Австриа иаанкылан, Ҭырқәтәылатәи Аибашьра Ду ашьҭахь Османтәи Аимпериа аҵыхәтәантәи ашьаҿақәа ҟаҵо иалагеит.

Бжьышықәсатәи аибашьра

Ихадароу астатиа: Бжьышықәсатәи аибашьра
Европа XVIII ашәышықәса агәҭантәи ахсаала

Америка иҟаз европатәи амчрақәа рыбжьара аколониалтә еиндаҭлареи Пруссиа аҿиареи ирыхҟьаны XVIII ашәышықәса абжьара Бжьышықәсатәи аибашьра ҟалеит, уи ҳаамҭазтәи аиҿагылара дуқәа иреиуан. Бжьышықәсатәи аибашьра мҩаԥысит Европаҿгьы, Пруссиатәи Фридрих Англиа иадгыланы Австриа, Урыстәыла, Франциа, Швециа, Саксониа, империатә усзуҩцәа реиҳараҩык ирҿагыланы имҩаԥгаз, иара убасгьы аокеан анҭыҵ: Аҩадатәи Америка, Карибтәи амшын, Индиа, Филиппинқәа. Уи аамҭазы иҟаз Европатәи амчра дуқәа зегьы аибашьра иалахәын, иара убасгьы Европа абжьаратәии ихәыҷуи аҳәынҭқаррақәа реиҳарак, уимоу индеицәа рхылҵшьҭрақәа рҟынтәи џьоукы. Уинстон Черчилль уи аибашьра «Актәи адунеизегьтәи аибашьра» ҳәагьы ахьӡиҵеит. Аибашьра аколониалтә ҳәа иԥхьаӡоуп, избан акәзар уа Британиа Ду, Франциа, Португалиа, Испаниа аколониалтә империақәа рметрополисқәа ринтересқәа еиҿаҳаит. Европаҿы ихаданы иҟаз аиҿагылара Австриеи Пруссиеи Силезиа рыбжьара акәын, уи Австриа иаԥхьанеиуаз Силезиатәи аибашьрақәа рҿы иаҵахеит. Убри аҟнытә Бжьышықәсатәи аибашьра Силезиа аҵыхәалатәи аибашьреи Ахԥатәи Силезиатәи аибашьреи ҳәагьы иашьҭоуп.

Мрагыларатәи Европаҿы, XVIII ашәышықәса анҵәамҭазы, Польша-Литва Аидгыла Урыстәылеи, Пруссиеи, Австриеи рыбжьара еиҩшан. Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реибашьрақәа ирыхҟьаны Аҩадатәи Амшын Еиқәа арегион Урыстәыла анапаҵаҟа ииасит, насгьы Балканқәа рҿы Ҭырқәтәыла ԥсыҽхеит.

Кыраамҭатәи XIX ашәышықәса

Франциатәи Ареволиуциа Ду

Ихадароу астатиа: Франциатәи Ареволиуциа Ду
Бастилиа ақәлара

Вольтер, Монтескье, Руссо, егьырҭ ашәҟәыҩҩцәа русура иабзоураны, урҭ рҟынтә афизиократцәеи аенциклопедистцәеи ргәыԥқәа ҷыдала аҵакы рыман, Франциатәи ауаажәларра аҵара змаз рыхшыҩ аҿгьы ареволиуциа ҟалеит. Руссо, Мабли, Дидро уҳәа убас иҵегьы рдемократиатә философиахь ауаа рацәа рыбзиабара цәырҵит. Франциатәи ахатәгәаԥхарауааи аҳәынҭқарреи злахәыз Аҩадатәи Америка Ахьыԥшымратә еибашьра ауаажәларра ргәы иҭанаҵеит ахәыцра ҿыцқәа Франциа рынагӡара шалыршахо.

1789 ашықәсазы Франциа иалагаз ареволиуциа аҵыхәтәаны амонархиа аԥыхреи 1792 ашықәсазы Актәи Франциатәи Ареспублика аԥҵара иахҟьеит. Уи адевиз: «Ахақәиҭра, аиҟарара, аиашьара» ԥыҭрак ашьҭахь еиуеиԥшым атәылақәа рҿы еиуеиԥшым ареволиуциақәа рдевизны иҟалеит.

Наполеон иеибашьрақәа

Ихадароу астатиа: Наполеон иеибашьрақәа
Европа 1812 шықәсазы

1799 ашықәсазы, ареволиуциатә Франциа ақәымҿиарақәа рацәаны иақәшәеит, насгьы иаҿагылаҩцәа рҟынтәи Урыстәыла ишалҵызгьы уи аҭагылазаашьа даара иуадаҩын. 1799 шықәса абҵарамза 9 рзы Ареспублика актәи аконсулс ирылаҳәаз Наполеон Бонапарт аибашьраҿы радикалтә еиҭакрак аҟаҵара даҽазышәан. Уи иӡбеит Италиеи Германиеи рфронтқәа рҿы Австриа ааха ду рыҭара.

Франциа иаҿагылоз акоалициақәа рҿы акырынтә аиааира анига ашьҭахь, Наполеон Франциатәи Аимпериа рылаиҳәеит, Европа аиҳарак анапхгара шьақәиргылеит, насгьы X ашәышықәса инаркны иҟаз Иԥшьоу Римтәи Аимпериа ықәихит.

1812 шықәса инаркны иалагеит Наполеон иарратә мчра ацәыӡра, уи зыхҟьаз Португалиеи Испаниеи рҿы Франциатәи арратә усмҩаԥгатәқәа рықәымҿиарақәеи Урыстәыла Наполеон ааха аниуеи ирыхҟьаны, анаҩс Европа аибашьра ҿыц ҟалеит, уа Наполеон ааха иоуит, насгьы 1814 шықәсазы амчра ицәыӡит.

Наполеон иеибашьрақәа рҵыхәтәантәи аепизод «Шәымш» аамҭазы иҟаз акампаниа акәын, еицырдыруа Ватерлоотәи аибашьра ацны.

Венатәи аконгресс

Ихадароу астатиа: Венатәи аконгресс

Аконгресс азин анаҭеит Австриатәи Нидерландқәа (иахьатәи Бельгиа) адгьылҵакыра Нидерландқәа Аҳра ҿыц алаҵара, аха егьырҭ Австриатәи амалқәа зегьы Габсбургцәа рнапаҵаҟа иҟалеит, Ломбардиа, Венециатәи арегион, Тоскана, Парма, Тироль уҳәа уахь иналаҵаны. Пруссиа иаҭәашьан Саксониа ахәҭак, Вестфалиеи Рейнландиеи рыдгьыл ду. Уаанӡа Франциа иадгылаз Даниа Норвегиа Швециа иацәыӡит. Италиа Ватикани Апапатә области рҿы Папа имчра еиҭашьақәдыргылеит, насгьы Аҩ-Сицилиа рҳәынҭқарра Бурбонцәа ирхынҳәит. Агермантә Еидгылагьы еиҿкаан. Наполеон иаԥиҵаз Варшаватәи аҳәынҭқарра ахәҭак Польшатәи Аҳра ҳәа ахьӡ аманы Урыстәылатәи Аимпериа иахәҭакхеит, Урыстәылатәи аимператоргьы Польшатәи аҳас дҟалеит.

Европа Венатәи Аконгресс ашьҭахь

Европа XIX ашәышықәса агәҭаны
Адәыӷба Ливерпуль-Манчестер ацәаҳәаҿы

Ареволиуциатә Франциа ааха анаиу ашьҭахь, егьырҭ аҳәынҭқарра дуқәа 1789 шықәса аԥхьа иҟаз аҭагылазаашьа аиҭашьақәыргылара рҽазыршәеит. Аха урҭ рҽазышәарақәа ирылымшеит ареволиуциатә еиҿкаарақәа рыларҵәара аанкылара: абжьаратәи аклассқәа Франциатәи Ареволиуциа адемократиатә идеалқәа ӷәӷәала анырра рырҭеит, Аиндустриалтә револиуциа акыр зҵазкуа аекономикатәи асоциалтәи аԥсахрақәа аанагеит.

XIX ашәышықәсазы Европатәи аекономика ирласны аҿиара аиуит, насгьы акапитализм аиааира агара алнаршеит. Аҭҵаарадырратә аартрақәа аиндустриа аҿиара иацхрааит. XIX ашәышықәса аҵыхәтәаны, Европа ауааԥсыра реиҳараҩык уажәгьы ақыҭарақәа рҿы инхон, аха ақыҭанхацәа рхыԥхьаӡара еиҵахон, ақалақьқәа рҿы инхоз ауааԥсыра рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иацлон. Европатәи акапиталисттә уаажәларраҿы ихадоу ҩ-социалтә класск ракәын абуржуазиеи аусзуҩцәеи. 1848—49 шықәсқәа рзы иҟалаз ареволиуциақәа ирыхҟьаны, Европатәи атәылақәа реиҳарак рҿы аконституциақәа рыдыркылеит, апарламентқәагьы ҟалеит. XIX ашәышықәса аҵыхәтәаны, Европатәи атәылақәа жәпакы (Франциа, Германиа) зегьы рзы алхратә зин рыман, аха ахацәа рзы мацара.

Аӷарра иацәынхарц азы, европауаа аӡәырҩы еиӷьу аԥсҭазаара иашьҭаланы ЕАА рахь ихыҵны ицеит. Европантәи ахыҵыҩцәа рхыԥхьаӡара еизҳаит 1846 шықәсазы 300 000 инаркны XIX ашәышықәса анҵәамҭазы 1 миллионҩык инареиҳаны[29].

Амарксизм ацәырҵра

Ихадароу астатиа: Акоммунисттә партиа Аманифест
Карл Маркси Фридрих Енгельси

Аусзыҩцәа ркласс аинтересқәа раарԥшра аҳасабала амарксизм цәырҵит XIX ашәышықәса 40-тәи ашықәсқәа рзы, аусзыҩцәа ркласс ихьыԥшым аполитикатә мчра аҳасабала аҭоурых арена ианалала акапиталисттә уаажәларра аиҿагылара ӷәӷәала ианцәырҵ. К. Маркси Ф. Енгельси ракәын аусзыҩцәа ркласс аҵаратә дунеихәаԥшышьа, уи ареволиуциатә қәԥара апрограмма, астратегиа, атактика зшаз. Урҭ ауаатәыҩса уаанӡатәи рнаука-социалтә хәыцра аихьӡарақәа ҿыц ирызхәыцуан, ҿыц аус руан, акласстә қәԥареи аџьажәлар рреволиуциатә ҵысреи рԥышәа азеиԥштәра ҟарҵеит.

Аусзыҩцәа ркласс ареволиуциатә теориа аҳасабала ицәырҵыз Марксизм ареволиуциақәа раахыс апрактикаҿы иԥышәан 1848—49 шықәсқәа рзы Мраҭашәаратәи Европаҿы. Абарҭ ареволиуциақәа рышьҭахь, К. Маркси Ф. Енгельси русура рхы аздырхьеит аҭҵааратә коммунизм аидеиақәа рыларҵәара, атәылақәа зегьы рҿы апролетартә револиуционерцәа разыҟаҵара, жәларбжьаратәи апролетариат амчқәа револиуциатә қәԥара ҿыц азы реизгара. Ари апериод К. Маркси Ф. Енгельси рнапхгара аҵаҟа аусзыҩцәа ркласс ареволиуциатә жәларбжьаратәи апартиа аԥҵарала иазгәаҭан, уи «Жәларбжьаратәи аусзыҩцәа Реидгыла» ҳәа иашьҭан (Актәи Аинтернационал, иаԥҵан 1864 шықәса цәыббрамза 28 рзы). XIX ашәышықәса 70—80-тәи ашықәсқәа рзы Европатәи атәылақәа жәпакы рҿы еиҿкаан апролетариат амассатә социал-демократиатә партиақәа.

Италиа аидҵара

Ихадароу астатиа: Арисорджименто
Виктор Еммануил II Џьузеппе Гарибальди диԥылоит Теано азааигәара, С. Де Альбертис исахьа

Италиа абжьаратәи ашәышықәсақәа раахысгьы политикала еиҟәыҭханы иаанхеит. Италиа 1848—1849 шықәсқәа рзы иҟалаз ареволиуциа анықәырх ашьҭахь, зконституциатә еиҿкаара зыхьчоз Италиатәи аҳәынҭқарра заҵәыкны иаанхеит Сардиниа Аҳра (Пиемонт). Уи аҳ Виктор Еммануил II Камилло Кавур аминистр хадас дҟаиҵеит 1852 шықәсазы.

1858 шықәсазы Кавури Франциатәи аимператор Наполеон III маӡала аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит, уи инақәыршәаны Франциа Сардинтәи Аҳра Австриатәи Аимпериа аҟынтәи Ломбардиеи Венециеи рханраҿы ацхыраара ҟанаҵеит, насгьы уи аҭакс Савоиеи Ницеи, Франциатәи ауааԥсыра рацәа ахьынхоз адгьылқәа, Сардиниатәи Аҳра аҟынтәи ироуит. Мшаԥымза 1859 шықәсазы Австро-Италиатәи-Франциатәи аибашьра алагеит. Пьемонти Франциеи еидызкыло арқәа аиааирақәа рацәаны ианырга ашьҭахь, ашьаарҵәыратә Солферинотәи аибашьрагьы уахь иналаҵаны, Наполеон III иаалырҟьаны аибашьрақәа аанкыланы, Австриеи иареи Виллафранкатәи асепаратә ҭынчреиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Уи аԥҟарақәа рыла, Франциа иаҭәашьаз Ломбардиа заҵәык акәын (Франциа хара имгакәа Пьемонтҟа иианагеит), Венециагьы Австриатәи Аимпериа иахәҭакны иаанхеит.

Анапхгаҩцәа Италиа аҳәынҭқарра хәыҷқәа (Парматәи аҳәынҭқарра, Моденеи Реџьои рҳәынҭқарра, Тосканатәи аҳәынҭқарра ду) 1859 шықәсазы ажәлартә револиуциақәа ирыхҟьаны ибналт, урҭ, иара убас Апапатә тәылаҿацә ахәҭакгьы, Сардиниа Аҳра иаҵанакуаз Агәҭантәи Италиа Еидҵоу Апровинциақәа шьақәдыргылеит. Хәажәкырамза 1860 шықәсазы имҩаԥгаз аплебисцитқәа рышьҭахь, Италиа агәҭантәи аҳәынҭқаррақәа официалла Сардиниа Аҳра иалалеит, уи аамҭазы Савоиеи Ниццеи ауааԥсыра Франциа аҽалархәра азы рыбжьы рҭиит.

Алада Италиатәи Аҩ-Сицилиа Аҳра ихьыԥшымны иаанхон. Лаҵарамза 1860 шықәсазы Џьузеппе Гарибальди зықьҩык хатәгәаԥхарала иҟаз ауаа рыла, аҭыԥантәи ауааԥсыра рыцхыраарала цәыббрамза 1860 шықәсазы аиааира ганы иқалақь хада Неаполь дҭалеит. Сардиниатәи арқәа ҩадаҟала иааигәахеит, аплебисцит аҿы ауааԥсыра реиҳараҩык Сардиниатәи аҳра иалаларц рыбжьы рҭиит, насгьы абҵарамза 1860 шықәсазы Гарибальди Аахыҵ Италиа амчра Виктор Еммануил II ииҭара рылеиҳәеит.

1861 шықәсазы Италиа Аҳра ашьақәгылара алаҳәан, уи аҳас Виктор Еммануил II дҟалеит. Еидҵоу Италиа анҭыҵ иаанхеит Рими уи акәша-мыкәшеи (Франциатәи арқәа Папа ихьчаразы иахьгылаз) Австриатәи аимпериа анапхгара аҵаҟа иҟаз Венециатәи арегион.

Венециатәи арегион еидкылоу Италиа ахәҭакны иҟалеит 1866 шықәсазы, Австро-Пруссиа-Италиатәи аибашьра иахҟьаны. Италиа аидгылара хыркәшахеит цәыббрамза 1870 шықәсазы Рим анагарала.

Афранко-Прусстәи аибашьреи Германиа аидҵареи

Ихадароу астатиа: Афранко-прусстәи аибашьра
Германиатәи аимпериа ахсаала

1866 шықәсазы Австро-Пруссиатәи аибашьраҿы аиааира анырга ашьҭахь, Пруссиа агермантә тәылақәа зегьы анапаҵаҟа еиднакыларц аҭахын, иара убасгьы Франциа арԥсыҽра иашьҭан. Франциагьы иаку, иӷәӷәоу Германиа ашьақәгылара алшара ацәхьаҵра иазыхиан. Аибашьра формалтә мзызс иамаз Испаниа аҳ иҭыԥ азы агәалақәа акәын, уи Пруссиатәи Вильгельм иуа, Гогенцоллерн-Зигмарингентәи Леопольд иқәиргылеит. Наполеон III Гогенцоллерн Испаниа аҳра мап ацәикырц мчыла дадицалеит, уи ашьҭахь Наполеон ицҳаражәҳәаҩ Вильгельм ихаҭа уи мап ацәкра дақәшаҳаҭхеит.

Франциа лазырҟәызшәа иԥхьаӡаны, Пруссиа аибашьра аланаҳәеит, аха иаҵахеит. Уи аконтрибуциа ду шәара акәхеит, убри аҟынтә Ельзаси Лотарингии ацәыӡит. 1871 шықәса ажьырныҳәамза 18 рзы Версаль аҟны Бисмарки Вильгельм I-и Германиатәи аимпериа аԥҵара аладырҳәеит.

Аславиан жәларқәа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара

Н. Дмитриев-Оренбург Болгариа Османтәи анапхгара аҟынтәи ахақәиҭтәра, 1878 шықәса

Аславиантәи ажәларқәа реиҳараҩык рхатә ҳәынҭқарра рымамызт XIX ашәышықәса алагамҭазы: ачехцәа, асловакцәа, ахорватцәа, асловенцәа Габсбургцәа рмонархиа иаҵанакуан, аболгарцәа, асербцәа реиҳараҩык Османтәи аимпериа иаҵанакуан, насгьы аполиакцәа XVIII ашәышықәсазы Польша аиҩшарақәа рышьҭахь х-ҳәынҭқаррак — Урыстәылатәи Аимпериа, Габсбургтәи Амонархиа, Пруссиа — рнапаҵаҟа иҟалеит.

XVIII ашәышықәса аҵыхәтәаны — XIX ашәышықәса алагамҭазы, Чехиеи Словакиеи рҿы аславиантә милаҭтә еиҿкаара (Чехтәи амилаҭтә еиҿкаара, Словактәи амилаҭтә еиҿкаара) цәырҵит. Уи еиҳа иӷәӷәаны иааԥшит Австриатәи аимпериаҿы 1848—1849 шықәсқәа рзы имҩаԥысыз ареволиуциа аан. 1848 ашықәсазы Прага имҩаԥысит аславиантә конгресс, уи апанславизм раԥхьаӡатәи ацәырҵраны иҟалеит.

1830 шықәсазы Польша аурыс хәҭаҿы Урыстәылатәи аимпериа аҿагылара алагеит, уи Пруссиеи Австриеи рнапхгара аҵаҟа иҟаз аполиакцәа рыдгылара аиуит. Ари ақәгылара 1863—1864 шықәсқәа рзы Польшатәи ақәгылара еиԥшҵәҟьа иқәгахеит.

Османтәи аимпериа иԥсыҽхацыԥхьаӡа, Алада-Славиантәи Балкантәи ажәларқәа уи амчра аҟынтәи ахақәиҭразы ирымаз агәазыҳәарагьы еиҳа иӷәӷәахеит. 1796 шықәсазы, Черногориа аҳәынҭқарра-епископра, аҭырқәцәеи дареи ақәԥара ӷәӷәа ашьҭахь, ииашаҵәҟьаны ихьыԥшым ҳәынҭқарракны иҟалеит. 1804—1835 шықәсқәа рзы иҟалаз Сербиатәи ареволиуциа Сербиа Аҳәынҭқарра инагӡашәа ахьыԥшымра аиура алнаршеит.

Аха Болгариа Османтәи анапхгара аҵаҟа иаанхеит. Болгариа 1876 шықәсазы имҩаԥысыз ақәгылара гәымбылџьбарала иқәгахеит, аха уи аурыс-ҭырқәтәылатәи аибашьра 1877—1878 шықәсқәа рзы иҟалаз амзызқәа иреиуан, уи иахҟьаны Болгариа Османтәи анапхгара аҟынтәи ахақәиҭра аиуит.

XIX ашәышықәса анҵәамҭа — XX ашәышықәса алагамҭа

Ихадароу астатиа: Аепоха шьахә
Еифель ибаҟа аргылара, 1888 шықәса

XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса алагамҭеи рзы ирласыз атехнологиатә прогресс ҟалеит (иахәаԥш Аҩбатәи аиндустриалтә револиуциа). Абри аамҭазы ауп амашьына (1885), абжьыҭаҩра (1877), арадио (1895), акино (1895), аҳаирплан (1903), амассатә ԥштәы змоу афотоҭыхра (1907), ателехәаԥшра аҟны раԥхьатәи аԥышәарақәа (1907) аныҟаҵаз.

Аҭҵаарадырра амч дуны иҟалеит, уи ароль еиҳа-еиҳа иацлон. Мраҭашәаратәи Европа амлакра ыӡит; Акәац еиԥш иҟоу ачысмаҭәа аалыҵқәа ауааԥсыра реиҳараҩык рзы иааиԥмырҟьаӡакәа иҟалеит. Еиӷьтәыз аԥсҭазааратә ҭагылазаашьақәеи, ҭацәу аамҭа аизырҳареи ирыбзоураны аспорттә хкқәа рыцәырҵра иацхрааит, насгьы амаланыҟәақәа зегьы рхы иадырхәо иалагеит[30].

Аха XIX ашәышықәса анҵәамҭеи XX ашәышықәса алагамҭеи рзы адунеи аколониалтә еиҟәшара (империализм) иахҟьаны европатәи амчрақәа рыбжьара аиҿагылара еизҳауаз аамҭан, уи еиуеиԥшым адунеизегьтәи акризисқәа рахь инанагеит (Каролинатәи акризис (1885), Фашодтәи акризис, Актәи Мороккатәи акризис, Аҩбатәи Мороккатәи акризис). Еиҿагылаз ҩ-арра-политикатә блокк цәырҵит — Х-хәҭактәи Аидгылеи Антантеи. Ари зегьы 1871 шықәса инаркны ҭынч инхоз Европаҿы аибашьра ашәарҭара ацәырнагеит.

Ааигәатәи аҭоурых

Европа (1898 шықәса)

Актәи Адунеизегьтәи еибашьра

Ихадароу астатиа: Актәи Адунеизегьтәи еибашьра

Актәи Адунеизегьтәи аибашьра аламҭалазы, Европа амчра дуқәа — Германиатәи Аимпериа, Австриа-Венгриа, Франциа, Британиа Ду, Урыстәыла рыбжьара аимак-аиҿакқәа еизҳауан. Убас, Британиа Ду Германиа аҭамҵара алымшеит Англо-Буертәи аибашьраҿы 1899—1902 шықәсқәа рзы, Франциа 1870 шықәсазы Франциа-Пруссиатәи аибашьраҿы Германиа иақәнагаз ааха азы ашьоура иашьҭан, насгьы 1871 шықәсазы Франциа иалыхыз Ельзаси Лотарингии рхынҳәра ргәы иҭан, Урыстәылатәи аимпериа иаҳәон рфлот Абжьаратәи Амшын ала ихақәиҭны ацара, Дарданеллтәи аӡыбжьахала анапхгара арежим арԥсыҽра ма аиҭашьақәыргылара иақәырӷәӷәон, Германиатәи Аимпериа, динамикала империа ҿыцны, аконтинент аҿы арратә, аекономикатә, аполитикатә ԥхьагылара иашьҭан, насгьы 1871 шықәса ашьҭахь мацара аколониақәа рзы ақәԥара далахәхеит, Англиа, Франциа, Бельгиа, Нидерландқәа, Португалиа рколониалтә мазарақәа рҿы еиҟароу азинқәа рҭахын. Уи еиҳарак активла алахәын иҭыжьымҭақәа ахьҭиуаз аџьармыкьақәа рыԥшаараҿы. Уи адагьы, Австриа-Венгриа, жәларрацәалатәи аимпериа аҳасабала, амилаҭқәа рыбжьаратәи аиҿагылара амзыз ала Европаҿы еснагь аҭышәынтәаламзаара ахыҵхырҭан. Мрагылара Ааигәа, амчрақәа зегьы ринтересқәа еиҿагылеит, еилабгоз Османтәи Аимпериа (Ҭырқәтәыла) аиҟәшаразы рҽазыршәон.

Франциатәи-Пруссиатәи аибашьра ашьҭахь 1870 ашықәсазы, 1914 ашықәсанӡа Европа аҭыԥантәи аиҿагылара ҟалеит (Балкантәи аибашьрақәа, Итало-ҭырқәатәи аибашьра), аха урҭ аибашьра дуны иҟамлеит. 1905 шықәсазы Германиеи Урыстәылеи аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵара иазыхиан (Биорктәи аиқәшаҳаҭра), аха уи амч амамызт.

Актәи Адунеизегьтәи аибашьра ҟалеит Сараевтәи ауаҩшьра иахҟьаны, уи Австриа-Венгриа аҳра аҭынхаҩы Франц Фердинанди иԥҳәыси 1914 шықәса рашәарамза 28 рзы рышьра акәын Сербиатәи атеррористтә еиҿкаара алахәылаҩ Гаврило Принцип инапала; уи ашьҭахь Австриа-Венгриа 1914 шықәса ԥхынгәымза 28 рзы Сербиа аибашьра аланаҳәеит. Ҩымчыбжь рышьҭахь, Европатәи аҳәынҭқаррақәа ааба аибашьра иалахәын.

Вердентәи аибашьраан амца аршәгақәа рхархәара

Актәи Адунеизегьтәи аибашьра даараӡа ишьаарҵәыраз еибашьраны иҟалеит, аибашьра иаҿу атәылақәа ауаатәыҩсатәи аматериалтәи ресурсқәа зегьы еизыргар акәхеит. Ажәларқәа рматериалтәи рдоуҳатәи мчқәа ԥсыҽхон, аибашьреи аиҳабыреи рзы агәынамӡарақәа еизҳауан.

Германиа иҟалаз ареволиуциа иахҟьаны Германиа аимператор Вильгельм II аҳра даҟәыҵит 1918 шықәса абҵарамза 9 рзы, насгьы Германиа аҳәынҭқарра ҿыц аибашьра аҟәыҵразы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥнагеит 1918 шықәса абҵарамза 11 рзы. Парижтәи аҭынчратә конференциа 1919—1920 ашықәсқәа рзы еиуеиԥшым аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵеит аиааира згаз амчрақәа, урҭ рҟынтә еиҳа еицырдыруа Версальтәи аиқәшаҳаҭра ауп. Урыстәыла, Германиа, Османтәи, Австро-Венгриатәи аимпериақәа реилабгара иахҟьаны ирацәаны ақәгылара ҟалеит, насгьы ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа раԥҵара ҟалеит, иаҳҳәап Польша, Чехословакиа, Иугославиа.

Урыстәыла ареволиуциа

Ихадароу астатиа: Абҵаратәи ареволиуциа

Актәи Адунеизегьтәи аибашьра Урыстәыла ахаҭамчратә шьақәгылашьа акризис арццакит.Жәабранмзатәи ареволиуциа иахҟьаны амчрахь иааз аамҭалатәи аҳәынҭқарра уи иахылҿиааз аилаҩеиласреи аилабгареи рзымчҳаит, убри аҟнытә Ленини Свердлови зхагылаз Асовет мчра рнапы ианырҵеит. Урыстәыла имҩаԥысуаз атәылауаҩратә еибашьра иахҟьаны атәылаҿы Асовет мчра шьақәгылеит, насгьы 1922 шықәсазы Асовет Еидгыла аԥҵан, уи адунеи аҿы раԥхьатәи асоциалисттә ҳәынҭқарраны иҟалеит.

Аибашьрақәа рыбжьаратәи аамҭа

Ихадароу астатиа: Аибашьрабжьара

Актәии Аҩбатәии Адунеизегьтәи аибашьрақәа рыбжьаратәи аамҭазы, Европатәи атәылақәа жәпакы рҿы арыӷьарахьтәи авторитартә режимқәа амчра аанкылара иалагеит. Италиа Муссолини ифашисттә режим шьақәгылеит, Германиа 1933 шықәсазы анацистцәа Гитлер амчрахь днаргеит. Испаниа атәылауаҩратә еибашьра Франко ирежим амчрахь иаанагеит. Арӷьарахьтәи арежимқәа шьақәдыргылеит Венгриа (Хорти ирежим), Румыниа (Антонеску ирежим), Польша (Пильсудски ирежим).

Афашизм ацәырҵра

Ихадароу астатиа: Италиатәи афашизм
Муссолини Римҟа ицо амаҭәа еиқәаҵәақәа рыбжьара

Ажәа фашизм италиатәи fascio (fascio) — «аидгыла» аҟынтәи ауп иахьынтәиааз (раԥхьатәи афашисттә еиҿкаарақәа рыхьӡ fascio combattione, ақәԥаратә еидгыла). Ари ажәа, анаҩс, алаҭын бызшәа “fascec” — «акәыршара, аидҳәалара» ахь ихынҳәуеит, уи ҷыдала амагистраттә мчра асимволқәа аанарԥшуан — fascia, аҭыха ҭаҵаны еидҳәалоу арӷәрақәа. Уи абзоурала, афасцаа рсахьа Муссолини иеиҿкаара асимволны иҟалеит, уи Ажәытәтәи Аурым аимпериатә традициақәа ирыҵанакуан.

Бенито Муссолини ифашизм раԥхьаза иаднагалон акорпоративтә ҳәынҭқарра аидеиа, даҽакала иуҳәозар, аҳәынҭқарра аидеиа акорпорациақәа рымчхара аҳасабала ауааԥсыра зегьы ринтересқәа рхаҭарнакра азызуа, еиқәзыршәо (апарламенттә демократиа апартиақәа рымчра еиԥшымкәа) аидеиа. Афашисттә идеологиа Италиа иҟалеит 1910-тәиқәа рынҵәамҭазы, Италиатәи афашисттә партиа амчра ааннакылеит, 1922 шықәсазы Муссолини идиктатура шьақәнаргылеит.

Германиа анацистцәа амчрахь раара

Ихадароу астатиа: Германиа анацистцәа амчрахь раара
«Потсдам Амш», 1933 шықәса хәажәкырамза 21 рзы. Адольф Гитлер хықәкыс имоуп Ареих Аканцлер Ареих Апрезидент Пауль фон Гинденбург иҳәатәы шхаиҵо атәы аарԥшразы.

Версальтәи Аиқәшаҳаҭра Германиа арратә лшарақәа даараӡа иԥкны иҟанаҵеит. Аха, 1933 шықәсазы Адольф Гитлер напхгара ззиуаз Национал-Социалисттә Усзыҩцәа Рпартиа амчрахь ианааи, Германиа Версальтәи Аиқәшаҳаҭра иаҵанакуаз аԥкрақәа зегьы мап рыцәкра иалагеит — ҷыдала, аррахь ааԥхьара еиҭанаҭоит, насгьы ирласны абџьари арратә техникеи рҭыжьра еизнарҳауеит. 1933 шықәса жьҭаарамза 14 рзы Германиа Амилаҭқәа Рлига аҟынтәи ахы ааннакылоит, насгьы Женеватәи абџьархыхратә конференциа алахәхара мап ацәнакуеит. 1934 шықәса ԥхынгәымза 24 рзы Германиа Австриа Аншлюс анагӡара иазыхиоуп, Вена аҳәынҭқарра иаҿагыло апутч амҩаԥгарала, аха мчыла игәҭакқәа ааныжьра рықәшәеит, Италиатәи адиктатор Бенито Муссолини ӷәӷәала иҽеим аҭагылазаашьа иахҟьаны, иара Австриа аҳәааҟынӡа ԥшь-дивизиак ааигеит.

Аҩбатәи Адунеизегьтәи еибашьра

Ихадароу астатиа: Аҩбатәи Адунеизегьтәи еибашьра
Европа Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра ҟалаанӡа
Европа 1941—42 шықәсқәа рзы
Берлинтәи агарнизон рҽанарҭа ашьҭахь, анемец еибашьцәеи аофицарцәеи асовет ар ртәцәас рыҽрырҭоит, Евгени Халдеи ифотосахьа

1930-тәиқәа рзы Италиагьы еиԥшҵәҟьа агрессивтә адәныҟатәи аполитика мҩаԥнагон. 1935 шықәса жьҭаарамза 3 рзы Ефиопиа дақәлеит, насгьы 1936 шықәса лаҵарамзазы инапахьы иааигоит (шәахә. Итало-Етиоптәи аибашьра). 1936 шықәсазы Италиа аимпериа алаҳәан.

Иҵаҵӷәыдоу ақәылара Мраҭашәаратәи амчрақәеи Амилаҭқәа Рлигеи агәынамӡара рызцәырнагоит. Мраҭашәаратәи амчрақәеи дареи реизыҟазаашьақәа ахьеицәахаз Италиа Германиа аизааигәахарахь иаанагоит. Ажьырныҳәамза 1936 шықәсазы Муссолини Адриатикаҿы рҽырҭбаара мап ацәыркыр, Австриа агерманцәа рыла рыҽрылархәра иақәшаҳаҭра ҟарҵоит. 1936 шықәса хәажәкырамза 7 рзы Агермантә ар Рейнландтәи адемилитаризациатә зона ааныркылоит. Британиа Дуи Франциеи ари аҿагылара ӷәӷәа ҟарҵом, формалтәи апротест мацара ауп изызку. 1936 шықәса абҵарамза 25 рзы Германиеи Иапониеи акоммунизм аҿагылара азы Антикоминтернтәи Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵоит. 1937 шықәса абҵарамза 6 рзы Италиа апакт иалахәуп.

1939 шықәсазы акризис иахҟьаны, Версаль-Вашингтонтәи адунеизегьтәи аизыҟазаашьақәа рсистема аилабгара иахҟьаны — Актәи Адунеизегьтәи аибашьра анҵәамҭазы ашьаҭа зкыз адунеизегьтәи аиҿкаара асистема 1914—1918 шықәсқәа рзы, — амчра дуқәа рыбжьара ҩ-арратә-политикатә блокк шьақәгылеит, урҭ рҿы Британиа Дуи Франциеи Германиеи Италиеи ирҿагылон, урҭ рахь Иапониа рхы дырхеит. СССР-и ЕАА-и аԥшра аҭагылазаашьа ааныркылеит, аблокқәа рыбжьара имҩаԥысуаз аибашьра рхатә интересқәа рзы рхы иадырхәарц агәыӷра рыман[31].

Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра алагамҭа ҳәа иԥхьаӡоуп 1939 шықәса цәыббрамза 1 рзы анацисттә Германиа Польша иақәларц аналагаз ашықәс азы. Абри ашьҭахь цәыббрамза 3 рзы Британиа Дуи Франциеи Германиа аибашьра рыладырҵәеит. Цәыббрамза 17 рзы СССР ар мрагыларахьтәи Польша иақәлеит, насгьы жьҭаарамзазы атәыла, 1939 шықәса нанҳәамзазы анапы зҵаҩҩыз Молотов—Риббентроп рпакт инақәыршәаны, Германиеи СССР-и рыбжьара еиҩыршеит. Уи ашьҭахь Германиа ирласны Даниеи Норвегиеи (мшаԥымза — рашәарамза 1940), Франциеи Бенелукс атәылақәеи (лаҵарамза — рашәарамза 1940), Иугославиа (мшаԥымза 1941) рнапаҿы иаанагеит. 1940 шықәса рашәарамза инаркны афашисттә Италиа аибашьра иалахәын, Франциа иҟаз Германиа иацхраауан, 1940 шықәса жьҭаарамза 28 рзы Бырзентәыла аибашьра аланаҳәеит, аха уи лҵшәадахеит. 1941 шықәса мшаԥымзазы Италиеи Германиеи еицны Абырзентә хыхьчара иԥыххаа иәьҭанаҵеит, насгьы атәыла аанкылара рылшеит. Тәылақәак хатәгәаԥхарала Германиеи Италиеи ирыдгылан: урҭ рахь иаҵанакуан Венгриа, Румыниа, Болгариа, насгьы џьара-џьара Финландиа. 1941 шықәса рашәарамза анҵәамҭазы Германиеи Италиеи рҿагылаҩ ӷәӷәаны иаанхаз Британиа Ду заҵәык акәын; уи арԥсыҽразы рҽазышәарақәа лҵшәада иаанхеит. 1941 шықәса рашәарамза 22 рзы Германиа уи адгылаҩцәеи иареи СССР иақәлеит. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду Европа Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра ахҭысқәа рынаҩстәи рыҿиараҿы ихаданы иҟалеит, ари аибашьраҿы ацәыӡ дуқәа зауз Асовет Еидгыла ауп. 1945 шықәсазы Германиеи уи адгылацәеи иԥыххаа иқәҵан.

Аибашьра иахҟьаны, Мраҭашәаратәи Европа адунеизегьтәи аполитикаҿы иааннакыло ароль ԥсыҽхеит. СССР-и ЕАА-и адунеи аҿы амчра дуқәаны иҟалеит. Британиа Дуи Франциеи, аиааира шыргазгьы, акырӡа иԥсыҽхеит. Аибашьра иаанарԥшит урҭи егьырҭ Мраҭашәаратәи Европа атәылақәеи аколониалтә империа дуқәа рыхьчара шрылымшоз.

Аибашьра хьшәашәа

Ихадароу астатиа: Аибашьра хьшәашәа
Аибашьра хьшәашәа аан Европа иҟаз арратә блокқәа

Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра анҵәамҭазы, СССР-и ЕАА-и Европаҿы иаԥырҵеит Мрагыларатәи Европаҿы АИД (ОВД), Мраҭашәаратәи Европаҿы НАТО ҳәа изышьҭоу аҳәынҭқаррақәа рыблокқәа. Аибашьра хьшәашәа иацын ахԥатәи адунеизегьтәи аибашьрахь инагартә еиԥш ашәарҭара змаз ахабартәи ануклеартәи абџьарқәа реицлабра. Германиа Адгылаҩцәа рыла иаанкылан, насгьы 2 хәҭакны еихшан: мраҭашәаратәи ФРГ-и мрагыларатәи ГДР-и. Европаҿы Аибашьра хьшәашәа асимволс иҟан 1961 шықәсазы иргылаз, Мраҭашәаратәи Берлини Мрагыларатәи Германиеи еиҟәызҭхоз Берлинтәи аҭӡамц.

Мрагыларатәи Европаҿы СССР 1956 шықәсазы Венгриа, 1968 шықәсазы Чехословакиа антикоммунисттә еиҿкаарақәа рықәыӷәӷәара мҩаԥнагеит. Мраҭашәаратәи Европаҿы 1968 шықәсазы ауаа рацәа рықәгыларақәа ирыхҟьаны Франциа иҟаз Де Голль иҭакԥхықәра аанижьит. 1974—75 шықәсқәа рзы, Португалиа иҟалаз ареволиуциа иахҟьаны, Испаниа Франко иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, Бырзентәыла аполковник еиқәаҵәақәа анықәгаха ашьҭахь, арыӷьарахьтәи адиктатурақәа ыҟамызт. 1975 шықәсазы Европатәи атәылақәа Хельсинкитәи аиқәшаҳаҭрақәа рнапы рыҵарҩит, уи аибашьрашьҭахьтәи аҳәаақәа реилагашьа шыҟам шьақәнарӷәӷәеит.

1980-тәиқәа рынҵәамҭазы, СССР аҿы иҟалаз аиҭакра, Асовет мчра анырра аԥсыҽхара ирыхҟьаны, асоциалисттә ҳәынҭқаррақәа рыблок аҟазаара аанкылан, Асовет мчра иадгылаз режимқәа ықәгахеит. 1991 шықәсазы Асовет Еидгыла еилаҳаит, 1992 шықәсазы Иугославиа еилаҳаит, уаҟа иалагеит амилаҭқәа рыбжьара аибашьрақәа. Германиа еидгылеит, Чехословакиа еиҟәшахеит.

Европа XXI ашәышықәсазы

Европатәи Аидгыла

Ихадароу астатиа: Европатәи Аидгыла
Молдавиа аԥошьҭатә марка иазку Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр Робер Шуман 1950 шықәса лаҵарамза 9 рзы иҟаиҵаз ажәахә 50 шықәса ахыҵра, уи Франциеи Германиеи рыбжьара акыр ҵуеижьҭеи иҟаз аицлабра аанкылареи, Франциеи Германиеи еицырзеиԥшу арацәеи аџыри рҭыжьреи раԥҵаразы ааԥхьара ҟаиҵеит. Ари ажәахә Европатәи Аидгыла аԥҵара апроцесс алагамҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

Ҳаамҭазтәи Европатәи Аидгыла аԥҵаразы актәи ашьаҿа ҟаҵан 1951 шықәсазы: Германиа, Бельгиа, Нидерландқәа, Лиуксембург, Франциа, Италиа аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Европатәи арацәи аџыри Реилазаара (ЕОУС, ECSC — European Coal and Steel Community) ашьақәыргыларазы, уи хықәкыс иамаз аџыри арацәеи рҭыжьра иазку Европатәи аагарҭақәа реидкылара акәын; ари аиқәшаҳаҭра амч аиуит 1952 шықәса ԥхынгәымза инаркны.

Аекономикатә интеграциа арҵауларазы, урҭ 1957 шықәсазы ф-ҳәынҭқаррак еиҿыркааит Европатәи Аекономикатә Еилазаара (ЕЕС, Азеиԥш џьармыкьа) (EEC — European Economic Community) насгьы Европатәи Атомтә Енергиа Аеилазаара (Евратом, Euratom — European Atomic Energy Community). Арҭ х-европатәи еилазаарак рҟынтәи зегь реиҳа ихадоу, акомпетенциала зымҽхак ҭбаау ЕЕС акәын, убри аҟнытә 1993 шықәсазы уи официалла ахьӡ ԥсахын Европатәи Аилазаара (EC — European Community) ҳәа.

Асоциалисттә блок анхыбгала ашьҭахь, Европатәи Аидгыла аҽырҭбаара апроцесс мҩаԥысит. 2004 шықәсазы 10 тәылак, еиҳарак Мрагыларатәи Европа аҟынтәи, ЕС иалалеит, 2007 шықәсазы даҽа ҩба. 2020 шықәсазы Британиа Ду Европатәи Аидгыла ааннажьит.

2010-тәиқәа рыбжьара инаркны Европаҿы амиграциатә кризис цәырҵит, уи Мрагылара Ааигәа Аҩадатәи Африкеи рҟынтәи ахҵәацәа рацәаҩны раара иадҳәалан.

Шәахә. иара убас

Азгәаҭақәа

  1. ↑ Саблин М. В., Гиря Е. Ю. К вопросу о древнейших следах появления человека на юге Восточной Европы (Россия) Архив ҟаҵан 2017-11-18 азы Wayback Machine аҟны. // Археология, этнография и антропология. № 2 (42) 2010
  2. ↑ Гиря Е. Ю. Открытия олдована на Юге России в свете экспериментально-трасологического метода // Исследования первобытной археологии Евразии. Сб. статей к 60-летию Х. А. Амирханова. Махачкала: Издательство «Наука ДНЦ», 2010. С. 88 −113.
  3. ↑ Амирханов Х. А. Пики трехгранного поперечного сечения в олдоване Центрального Дагестана // Материалы Международной конференции «Карабах в каменном веке», посвященной 50-летию открытия палеолитической пещерной стоянки Азых. — Баку, 2010.
  4. ↑ Щелинский В. Е. Эоплейстоценовая раннепалеолитическая стоянка Родники 1 в Западном Предкавказье. — СПб.: ИИМК РАН, ООО «Периферия», 2014. — 168 с.
  5. ↑ Анисюткин Н. К., Коваленко С. И., Бурлаку В. А., Очередной А. К., Чепалыга А. Л. Байраки — новая стоянка раннего палеолита на Нижнем Днестре Архив ҟаҵан 2015-03-17 азы Wayback Machine аҟны.
  6. ↑ Анісюткін М. К., Степанчук В. М., Чепалига А. Л. Крецешти: нове олдованське місцезнаходження в Нижньому Придністров'ї (попередні данні) // Археологія, 2013, № 4.
  7. ↑ Tim Jones. Lithic Assemblage Dated to 1.57 Million Years Found at Lézignan-la-Cébe, Southern France Архив ҟаҵан 2015-09-24 азы Wayback Machine аҟны., 2009
  8. ↑ R. Garba, V. Usyk, L. Ylä-Mella, J. Kameník, K. Stübner, J. Lachner, G. Rugel, F. Veselovský, N. Gerasimenko, A. I. R. Herries, J. Kučera, M. F. Knudsen, J. D. Jansen (6 хәажәкырамза 2024). "East-to-west human dispersal into Europe 1.4 million years ago". Nature (англыз бызшәала). doi:10.1038/s41586-024-07151-3.{{cite journal}}: CS1 maint: multiple names: authors list (link)
  9. ↑ Щелинский В. Е. Об охоте на крупных млекопитающих и использовании водных пищевых ресурсов в раннем палеолите (по материалам раннеашельских стоянок Южного Приазовья) Архив ҟаҵан 2022-01-14 азы Wayback Machine аҟны. // Краткие сообщения Института археологии. Вып. 254. 2019
  10. ↑ Кулаков С. А. Раннепалеолитическая стоянка Богатыри/Синяя балка на Таманском полуострове Архив ҟаҵан 2020-06-12 азы Wayback Machine аҟны. // Археологические вести. № 24. 2018 Стр. 19-32.
  11. ↑ "Сима дель Элефанте / Sima del Elefante". Иархивтәоу аоригиналзы 16 жәабранмза 2013 ахь. Ириашоу 29 лаҵарамза 2016 шықәсазы.
  12. ↑ "Пофи / Pofi". Иархивтәоу аоригиналзы 7 нанҳәамза 2016 ахь. Ириашоу 29 лаҵарамза 2016 шықәсазы.
  13. ↑ A revision of hominin fossil teeth from Fontana Ranuccio (Middle Pleistocene, Anagni, Frosinone, Italy)
  14. ↑ "Визольяно / Visogliano Shelter; il Riparo di Visogliano". Иархивтәоу аоригиналзы 4 жьҭаарамза 2015 ахь. Ириашоу 29 лаҵарамза 2016 шықәсазы.
  15. ↑ "Пшезлетице / Prezletice". Иархивтәоу аоригиналзы 7 нанҳәамза 2016 ахь. Ириашоу 29 лаҵарамза 2016 шықәсазы.
  16. ↑ "Древнейший сапиенс Европы!.. И опять древнейший сапиенс Европы!!!". Иархивтәоу аоригиналзы 13 ԥхынҷкәынмза 2014 ахь. Ириашоу 12 цәыббрамза 2015 шықәсазы.
  17. ↑ "The timing and spatiotemporal patterning of Neanderthal disappearance". Иархивтәоу аоригиналзы 6 хәажәкырамза 2016 ахь. Ириашоу 24 мшаԥымза 2016 шықәсазы.
  18. ↑ "4. Поздние неандертальцы — не такие уж поздние // Новейшие денисовцы, древнейшая ДНК. 14 антропологических новостей из Лондона". Иархивтәоу аоригиналзы 10 жәабранмза 2020 ахь. Ириашоу 24 мшаԥымза 2016 шықәсазы.
  19. ↑ "«Испанские» неандертальцы исчезли до прихода сапиенсов". Иархивтәоу аоригиналзы 28 хәажәкырамза 2016 ахь. Ириашоу 24 мшаԥымза 2016 шықәсазы.
  20. ↑ "Вести.Ru: Неандертальцы жили рядом с людьми 5 тысяч лет". Иархивтәоу аоригиналзы 5 ԥхынҷкәынмза 2014 ахь. Ириашоу 29 абҵарамза 2014 шықәсазы.
  21. ↑ "The first Europeans weren't who you might think". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 14 ԥхынгәымза 2019 ахь. Ириашоу 14 ԥхынгәымза 2019 шықәсазы.
  22. ↑ Genes, Peoples, and Languages
  23. ↑ "ancienthistory.spb.ru". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 31 хәажәкырамза 2008 ахь. Ириашоу 5 лаҵарамза 2008 шықәсазы.
  24. ↑ "Исторические карты Европы". 6 ԥхынҷкәынмза 2013. Иархивтәоу аоригиналзы 13 ԥхынҷкәынмза 2013 ахь. Ириашоу 6 ԥхынҷкәынмза 2013 шықәсазы.
  25. ↑ Max Bernhard Weinstein, Welt- und Lebensanschauungen, Hervorgegangen aus Religion, Philosophie und Naturerkenntnis («World and Life Views, Emerging From Religion, Philosophy and Nature») (1910), page 283-84: «Johannes Scotus Erigena…. läßt in einer seiner mehreren Ansichten alles von Gott emaniert sein. Gottes Klarheit, welche mit Recht auch Dunkelheit genannt wird, breite sich über alles aus. Die ungeformte Materie soll nur das Unendliche bedeuten, welches, da es formlos sei, alle Formen in sich enthalte. Gott hat die Welt aus seinem eigenen Wesen gebildet. Jedes Geschöpf ist eine Theophanie, ein Sichoffenbarmachen Gottes. Gott sei an sich vorhanden wie ein Gedanke im Menschen bestehe; er manifestiere sich in der Welt durch sich selbst, wie ein Gedanke, der sich denkt, sich selbst zur Erkenntnis komme. So sei Gott ohne die Welt absolut negativ. Es klingt wie eine Blasphemie, wenn gesagt wird, Gott wisse nicht, was er sei, und er werde erst geschaffen mit der Schöpfung, indem er sich in seiner Schöpfung offenbart, die Schöpfung so aus Nichts hervorbringend. Das ist auch fast so abstrakt wie die indische Tad-Anschauung. Freilich bleibt es bei diesem absoluten, und ja auch nicht zu durchdringenden, Pandeismus nicht. Wie der Indier muß Scotus Gott doch etwas zuschreiben, Willen, und die Geschöpfe sind dann Willensakte. Der Wille ist persönlich als Emanation Gottes (als Christus) gedacht, wie wohl auch die Ursachen (zusammengefaßt als Heiliger Geist), die Scotus von Gott ausgehen läßt, Emanationen sind, und die Wirkungen, die wieder von ihnen ausgehen, Emanationen ihrer selbst darstellen.»
  26. ↑ Крис Уикхем. Средневековая Европа. От падения Рима до Реформации. — М.: Альпина Нон-фикшн, 2018. — С. 52. — ISBN 978-5-91671-712-9.
  27. ↑ Комар А. В. Русь в IX—X веках: Археологическая панорама // Киев и Правобережное Поднепровье (Искоростень и племенные княжения. Искоростень). Закономерности развития Среднего Поднепровья в IX–X вв. по археологическим данным / Н. А. Макаров. — Москва, Вологда: Древности Севера, 2012. — С. 301—324.
  28. ↑ Зоценко В., Звіздецький Б. Типологія та хронологія артефактів «скандинавського» типу із розкопок стародавнього Іскоростеня // Русь на перехресті світів (міжнародні впливи на формування Давньоруської держави) IX—XI ст. Чернігів, 2006.
  29. ↑ "Глобальная миграция" (PDF). Иархивтәоу (PDF) аоригиналзы 3 жьҭаарамза 2024 ахь. Ириашоу 28 нанҳәамза 2024 шықәсазы.
  30. ↑ Европейская повседневная культура 19 века
  31. ↑ Мельтюхов М. И. Упущенный шанс Сталина. Советский Союз и борьба за Европу: 1939—1941. — М.: Вече, 2000. Глава «Политический кризис 1939 г.»

Алитература

Азхьарԥшқәа

  • Кембриджская экономическая история Европы Нового и Новейшего времени. Т. 1: 1700—1870. / Под ред. Стивена Бродберри, Кевина О'Рурка. — М.: Издательство Института Гайдара, 2012. — 464 с.
  • Кембриджская экономическая история Европы Нового и Новейшего времени. Т. 2: 1870 — наши дни. / Под ред. Стивена Бродберри, Кевина О’Рурка. — М.: Издательство Института Гайдара, 2013. — 624 с.
  • CVCE The history of European integration
  • A History of East Central Europe
  • Европа I-XVII века. Хронология историческая синхронизированная