Перейти к содержанию

Гәыблиа, Гьаргь Константин-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Гьаргь Константин-иԥа Гәыблиа
Георгий Константинович Гублия

Гьаргь Константин-иԥа Гәыблиа
Аира лаҵарамза 151928 ш.
Ҟәланырхәа ақыҭа, Гәдоуҭа араион, ССР Аԥсны, СССР
Аԥсра абҵарамза 62019 ш.
Аусура апоет, апрозаик, адраматург, алитератураҭҵааҩ, арҵаҩы-ааӡаҩ, ауаажәларратә усзуҩы

Гьаргь Константин-иԥа Гәыблиа (аур. Георгий Константинович Гублия; лаҵарамза 151928 ш. Ҟәланырхәа ақыҭа – абҵарамза 62019 ш.) — апоет, апрозаик, адраматург, алитератураҭҵааҩ, арҵаҩы-ааӡаҩ, ауаажәларратә усзуҩы. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ ихҵан (1970), Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аԥсуа литература акафедра адоцент, анаҩс апрофессор. «Дырмит Гәлиа: ирҿиаратә мҩа» зыхьӡу иусумҭазы Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (1974), 1957 ш. раахыс СССР-и Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылоуп, 1999 ш. инаркны – Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла. Ианашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара. Дыҩуан аԥсышәала.

Аҵара иҵон Ҟәланырхәатәи ашкол аҟны ԥшьы-шықәса, анаҩс – абжьбатәи акласс аҟынӡа Гәдоуҭатәи абжьаратәи аԥсуа школ аҟны. 1944 ш. Гәдоуҭатәи ақыҭанхамҩатә техникум дҭалеит. Ашьҭахь уи Мықәҟа ииаргазаргьы, иҵара аанимыжьит. Убри нахыс алитература агәыблра икит. Адраматә кружок далахәын. Убасҟан ауп алитература даназҿлымҳахагьы. Раԥхьаӡа акәны инарҭбааны идырит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Д.И. Гәлиа, С.И. Ҷанба, И.Г. Папасқьыр, иара убас Н.В. Гоголь, А.С. Пушкин, М.И. Лермонтов уҳәа рҩымҭақәа. Урҭ рышәҟәқәа атехникум абиблиотекаҿы иҟан.

Иҵара аныхиркәша (1948), шықәсык аҟынӡа иқыҭа гәакьаҿ Ҟәланырхәа агрономс аус иуан. 1949 ш. А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет дҭалеит. Аха ашьҭахь гәыԥҩык иқәлацәеи иареи ииасит Қарҭтәи аҳәынҭуниверситет ахь. Иреиҳау аҵараиурҭа далганы Аԥсныҟа даныхынҳә (1954), аус иуан С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы, нас Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны ҩаԥхьа ҿыцны иаадыртыз афилологиатә факультет аԥсуа сектор аҟны аԥсуа алитература арҵаҩыс, ашьҭахь аԥсуа литература акафедра аиҳабыс (1965-1975). Дыҟан апартиа Аԥснытәи аобком алекторс. 1970 ш. Қарҭ ихьчоит акандидаттә диссертациа «Дырмит Гәлиа: ирҿиаратә мҩа» ахьӡны. Уи хара имгакәа хазы шәҟәны Аҟәа егьҭыжьын. 1975 ш. инаркны апартиа Аԥснытәи аобком алекторс дыҟан. 1978-1984 шш. раан - ажурнал «Алашара» аредактор хадас, ашьҭахь - ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аиҳабыс. Аԥснытәи Аҳәыҭуниверситет апрофессорк иаҳасабала акыр шықәса аԥсуа литература аҭоурых иазкны алекциақәа дрыԥхьон.

1950 ш. акьыԥхь аҟны данцәырҵ инаркны ипоезиатәи ипрозатәи рҿиамҭақәа рнылон ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», «Аҟәа-Сухум», "Юность", "Молодая гвардия" агазеҭқәа «Бзыԥ», «Аԥсны ҟаԥшь», «Аԥсны», «Советская Абхазия», «Еҵәаџьаа», «Литеранурная газета» уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа жәпакы агәылоуп «Аԥсуа поезиа антологиа ХХ ашә.» (2001; еиҭаҭыжьуп – Аҟәа-Москва, 2009).

Г. Гәыблиа авторс дрымоуп ажәеинраалақәа реиԥш, апоемақәа, ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа, апиесақәа, аочеркқәа, аԥсуа литература иазку аҭҵаарадырратә статиақәа. Жәлар ражәабжьҳәаҩцәа Жана Ачбеи Чаҵә Чагәи рҳәамҭақәа реизгараҿы акәзаргьы, шьарда илиршахьеит. Иҩымҭақәа еиҭаганы иҭыҵхьеит аурыс, аукраин, ақырҭуа, аҟабарда уҳәа абызшәақәа рахь. Ихаҭагьы гәацԥыҳәарала аԥсшәахь еиҭеигон егьырҭ алитературақәа рхаҭарнакцәа рҩымҭақәа.

  • аԥсышәала: Сыԥхьарца. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1956.
  • Мҩамш. Апоемақәа. Аҟәа, 1958.
  • Схәышҭаара ацԥхьқәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1960.
  • Ааԥынтәи ахәыцрақәа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1963.
  • Аиԥылараҿыц. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1965.
  • Ашьха мҩа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1967.
  • Аиҩызара ашәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1972.
  • Амшыни сареи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1975.
  • Акаҵәараҿ аиқәшәара. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1978.
  • Ицәқәырԥон амшын. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1980.
  • Ахьшь агага. Аповестқәеи ажәабжьи. Аҟәа, 1981.
  • Аҿара амҵәыжәҩақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984.
  • Адгьыл аҳақ. Ароман. Апиесақәа. 19.
  • Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988.
  • Лахьынҵала иузшоу. Ароман. Аҟәа, 1996.
  • Исзымҳәаз ажәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1998.
  • Ирхәыз ашьауардын. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1999.
  • Аҵыхәтәантәи ахысыбжь. Ароман. Аҟәа, 2004.
  • Нестор. Агәалашәарақәа. Аҟәа, 2006.
  • Иҩымҭақәа реизга. Хә­-томкны. Аҟәа, 2005-2013.
  • урысшәала аиҭагақәа: Посох. Лирика. М., 1966.
  • Горсть земли. Стихи. М., 1976.
  • Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 918-919