Перейти к содержанию

Гәма (аангыларҭа)

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Апавилион

Гәыма (аур. Гума) — Аҟәа иҟоу аихамҩатә платформа ауп. Уи аартын 1940 ашықәс азы. Уи Гәымскаиа амҩаду иаваргыланы, Аҟәатәи аботаникатә баҳчеи Аҟәатәи амаамынқәа рааӡарҭеи рыбжьара иҟоуп.

Аангыларҭа аартуп Аботаникатә баҳча ҳәа, ашьҭахь Бараҭашвили, нас Баратов ҳәа ахьӡ ԥсахын. 1990-тәи ашықәсқәа рзы ауп аплатформа ахьӡ Гума ҳәа ианыԥсахыз.

Асовет мчра аан АҟәаОчамчыра, Аҟәа — Тҟәарчал, Аҟәа — Зугдыди ҳәа ицоз афымцадәыӷбақәа аперрон аҿы иаангылон.