Гьерхьелиа, Кәасҭа Маџьгәыр-иԥа
| Кәасҭа Маџьгәыр-иԥа Гьерхьелиа | |
|---|---|
| Константин Меджгурович Герхелиа | |
|
Кәасҭа Маџьгәыр-иԥа Гьерхьелиа | |
| Аира |
жәабранмза 22, 1932 ш. Ӷәада ақ., Очамчыра араион, Аԥсны |
| Аԥсра | лаҵарамза 17, 1996 ш. |
| Аусура | аԥсуа поет, аиҭагаҩ, апублицист |
Кәасҭа Меџьгәыр-иԥа Гьерхьелиа (аур. Константин Меджгурович Герхелиа; жәабранмза 22, 1932 ш., Ӷәада ақ., Очамчыра араион, Аԥсны – лаҵарамза 17, 1996 ш.) — аԥсуа поет, аиҭагаҩ, апублицист. СССР-и (1959) Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла. Дыҩуан аԥсышәала.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ӷәадатәи аа-шықәсатәи ашкол даналга, 1949 ш. дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа. 1951-1954 шш. рзы Асовет ар рҟны аррамаҵура дахысуан. 1954-1956 шш. раан иҵара иациҵон. 1956-1961 шш. рзы А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи аурыс бызшәеи алитературеи рыҟәшаҿы аҵара иҵон. 1966-1968 шш. рзы Бақәа ақалақь аҟны апартиа Иреиҳау ашкол дҭан. Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан аус иуан агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» (алитературатә усзуҩыс, 1955-1957), ажурналқәа «Амцабз» (алитературатә усзуҩыс, 1957-1958), «Алашара» (1961-1962). Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аклуб деиҳабын (1958-1961), иара убас С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр алитературатә хәҭа деиҳабын (1963-1966), апартиа Аԥснытәи аобласттә комитет алектор-инструкторс дыҟан (1968-1975). 1975-1983 шш. раан аԥсны ателерадиодырраҭара аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы дихаҭыԥуаҩын. 1986-1992 шш. раан Аԥсны Аҳәынҭплан аҟәша деиҳабын. Анаҩс, 1986 ш. азынӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиокомпаниа аредакциақәа рҟны иусура иациҵон. Атематикатә программақәа еиҿикаауан. Арадиоинсценировкақәа жәпакы аԥиҵеит, урҭ иреиуоуп арадиодырраҭара «Алықьса Лашәриа изкны агәалашәарақәа», арадиоочерк «Аԥсадгьыл», арадиокомпозициа «Аԥсны – аԥсы атәыла». Ажәеинраалақәа иҩуан ашкол данҭаз инаркны. Иҩымҭақәа акьыԥхь рбо иалагеит 1950ш. нахыс ажурнал «Алашара», агазеҭқәа «Аԥсны ҟаԥшь», «Советская Абхазия», «Еҵәаџьаа» уҳәа рҟны. Апоет иажәеинраалақәа рыхәҭак анылеит «Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).
Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭижьит.
Аԥсшәахь еиҭеигеит аурыс, абаза, ақырҭуа поетцәеи апрозаикцәеи рҩымҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: Вл. Солоухин, Е. Евтушенко, Б. Ҭҳаиҵухов, П. Цеҟәа, К. Џьгәаҭан, И. Ҷавчаваӡе, И. Абашиӡе, И. Нонешвили, М. Поцхишвили, Н. Думбаӡе ироманқәа «Сареи, сандуи, Иликои, Илариони», «Наунагӡатәи азакәан» (ахәҭақәа), иажәабжь «Ҭалико», М. Гвасалиа лажәабжь «Аҵеиџь» уҳәа егьырҭгьы.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- аԥсышәала: Аԥсҭазаара абжьы. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1959.
- Анарха. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1963.
- Ацәлаа анышәҭуа. ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1980.
- Иалкаау. Ахәыцрақәа ррыцхәа. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1982.
- аурысшәахь аиҭага: Когда цветет иглица. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1987.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, «Аԥсуа поезиа антологиа XX ашәышықәса», Аҟәа-Москва, 2009, ад. 922