Перейти к содержанию

Гьаргь IV (Қырҭтәыла)

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Гьаргь IV Лаша
გიორგი IV ლაშა
Қырҭтәыла аҳ
Амаҵураҭыԥ ахь:
1213 – 1223
Ацаҳ Аҳкәажәду Ҭамар
Аԥхьа иҟаз Аҳкәажәду Ҭамар
Аҭынха Русудан


Ахатәы хьӡы გიორგი IV ლაშა
Аира 1191
Қырҭтәыла аҳраду
Аԥсра 1223
Багаван
Аԥсыжра аҭыԥ Светицховели
Атәылауаҩра Қырҭтәыла
Ани аби

аҳкәажәду Ҭамар

Дауҭ-Сослан
Ахәыҷқәа Дауҭ VII Улу
Анаԥынҵамҭа

Гьаргь IV Лаша – Қырҭтәыла аҳ (1213-1223) Багратраа рдинастиа аҟынтә[1].

Гьаргь, ма аҩны аҟны ишырҳәоз Лаша (уи ԥсышәала иаанагәаит "Илашоу") Аҳкәажәду Ҭамареи Дауҭ-Сослани рыҷкәын[1]. Жәеиза ҩырак аҿы, Багавантәи ауахәама аҭӡамцқәа рҿы аерман бызшәала иану руак аинтерес ду аҵоуп. Аҩыраҿы иануп:

«Алаш ихаан, Агәыҳалалҩы Анцәа игәыӷра сыманы, сара, амирспасалар Зеқьериа, Хлаҭынтә Баговантәи аиашьара ԥшьа ахь снеит, абри аешьара ԥшӡа збеит, схазынаҭра аартны, Хошнутаик адгьылқәа иаасхәеит, агәалашәара азы абри дгьылауахәама ҳамҭас иасҭеит ...”

1207 ашықәс азы иани иареи еицнапхгарауа иалагеит. Аҳратә Қырҭтәыла арӷәӷәаразы аҳкәажәду имҩаԥылгоз аполитика иациҵеит. 1210-тәи ашықәсқәа рзы аԥсылман хьыԥшытә ҳәынҭқаррақәа ирҭычеит, насгьы Иерусалим иаҿагылаз аџьарсахьатә еибашьра аҽазыҟаҵара далагеит. Амонголцәа Қырҭтәыла ақәлара иахҟьаны, аџьарсахьатә еибашьра алахәхара алшара ыҟамызт. Амонголцәа 1221 шықәсазы ақырҭуа ар ықәырхит (Сагимитәи аибашьра). Аибашьраан аҳ ӷәӷәала дырхәит.

1223 шықәсазы Гьаргь дыԥсит, 31 шықәса дшырҭагылаз[2]. Уи иашьҭахь анапхгара далагеит иаҳәшьа – аҳкәажәду Русудан.

Лаша зхы иақәиҭны ихәыцуаз аӡә иакәны дырдыруан, икәша-мыкәша иҟазгьы дрықәыӡбон. Аҳ анхаҩы ԥҳәысс дигеит, убри аҟынтә аиашахаҵаратә диннапхгаҩцәа иқәыӡбеит, насгьы аҳ мчыла дилыҵыртә иҟарҵеит. Иара ишьҭахь дизаанхеит аԥа – аҳ Дауҭ VII Улу.

  1. 1,0 1,1 Гыцба Т. Шь., Ажәытә абазгцәа ртәыла,  Аҟәа, 2012.
  2. Гьаргь IV Лаша. Архив..