Амҷба, Гьаргь Алеқсандр-иԥа
Гьаргь Алеқсандр-иԥа Амҷба (лаҵарамза 10, 1936 ш., Ӷәада, Аԥсны АССР, СССР) — Адырра егьакуп, егьыҩбоуп рҳәоит. Егьиашоуп.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Иԥсҭазаара далҵит иналукааша аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы, Кавказ аспециалист, ахыҵхырҭаҭҵааҩы, аетнолог, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.
Георги Алықьса-иԥа Амыҷба диит 1936 шықәсазы маи жәаба рзы Очамчыра араион Ӷәада ақыҭан аԥсуа нхаҩы ҭаацәараҿы. Далгеит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет, анаҩс Қырҭтәылатәи ССР аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҭоурых аинститут аҟны аспирантура далгеит. Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аҿы аусура далагеит 1958 ашықәс азы, уаҟа аус иуан, аамҭа кьаҿк иалагӡаны, иҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡа.
Иара шәҩык инареиҳаны икьыԥхьу аусумҭақәа раԥҵаҩуп, урҭ рҟынтә 70 ҵаратә усумҭақәа, 10 монографиеи аизгақәеи рыла. Уи ишәҟәқәа Кавказ анҭыҵгьы, абжьаратәи ашәышықәсазтәи аҵарауаа рыҩнуҵҟагьы азхаҵара роухьеит. Георги Александр-иԥа Амиҷба иҭҵаарадыррақәа раԥхьа иргыланы дзызҿлымҳау аԥсуа жәлар заатәи абжьаратәи ашәышықәсақәа рҭоурых ауп. Ари апериод иадҳәалаз азҵаара хадақәа ҭҵаауп иара ишәҟәқәа "Аԥсны заанаҵтәи абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз аполитикатә ҭагылазаашьа аVI-X-тәи ашәышықәсақәа рзы", "Аԥсны заатәи абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы акультуреи аидеологиеи аVI-X-тәи ашәышықәсақәа рзы", уҳәа убас иҵегьы. Рыцҳарас иҟалаз, автор лахьынҵас иҟамызт иҵыхәтәантәи иусумҭа "Аԥсны раԥхьатәи абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы" абара, насгьы уи агәахәара аиура. Аԥсуаҭҵаараҿы хәы змаӡам ари илагала аӡыргара, рыцҳарас иҟалаз, Георги Александр-иԥа иалахәымкәа имҩаԥысуеит.
Георги Александр-иԥа Амыҷба аԥсуа етнологиа иазку аинтерес зҵоу ашәҟәқәа равторуп, аԥсуа бызшәала иҭыҵхьеит: «Аԥсуаа рыҽқәа рықәтәара», «Аԥсны аҭоурыхи аетнографиеи ирызку астатиақәа». 1993 ашықәс азы Сҭампыл ҭырқәшәала иҭыҵит иусумҭа "Аԥсуааи алазцәеи".
Аҵарауаҩ гәцаракрала иҭиҵааит Аԥсни аԥсуааи ирызкны ақырҭуа, аурым, византиатәи, аерман бызшәала иҩыз ахыҵхырҭақәа. Иара ганрацәалатәи иусура иалҵшәаны иҟалеит урысшәала еиҭагоу аизгақәа "Аԥсны иазку абжьаратәи аамҭақәа рзы ақырҭуа ҩыратә хыҵхырҭақәа рҟынтәи аинформациа", насгьы "Аԥсни абжьаратәи аамҭақәа рзы ақырҭуа ажәабжьтә хыҵхырҭақәа рҟны аԥсуааи" ҳәа хьӡыс измоу аизгақәа.
Амиҷба Георги Алықьса-иԥа ашәҟәқәа "Аԥсуаа", "Аԥсуа биографиатә жәар" равторцәа руаӡәкуп, уажәы Аԥснытәи агеографиа аинститут (АБИГИ) акьыԥхьразы аҽазыҟаҵара иаҿуп.
Гьаргь Амыҷба еиҭагаҩ ҟазак иаҳасабалагьы дырдыруеит. Уи аԥсшәахь еиҭеигаз америкатәи аетнолог С. Бенети, авенгртәи аҭоурыхҭҵааҩы Л. Тардии, румынтәи ашәҟәыҩҩы В. Иара убасгьы еиҭеигеит К. Гамсахурдиа иажәабжьқәа, иара убас А. Гогәуеи иареи еицеиҭаргаз И. Георги Амыҷба аԥсуа "Нарҭтә епос" ақырҭшәахь еиҭеигеит.
Ҩынҩажәа шықәса инареиҳаны активла далахәын Аԥснытәи аспециалистцәа разыҟаҵара. Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт аҭоурыхи афилологиеи рфакультет адеканс, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра аиҳабыс дыҟан. Аԥсны ажәытәӡатәи адунеи аҭоурыхи абжьаратәи ашәышықәсақәеи ирызкны алекциақәа дрыԥхьон, иара убас ахыҵхырҭақәа рыҭҵаареи Аԥсны аҭоурыхҭҵаареи рзы иҷыдоу акурсқәа мҩаԥигон, аспирантцәеи академиатә диплом аиуразы акандидатцәеи дрыхылаԥшуан.
Ахӡырымгара, ацқьара, аԥхарра, аҭынчра, аламыс цқьаны аҟазаара агәазыҳәара, егьырҭ рықәҿиарақәа рыла агәырӷьара, ацхыраара зҭаху рыцҳашьара, рыцхраара агәазыҳәара — урҭ аҟазшьақәа роуп Георги Александр-иԥа Амиҷба егьырҭ ирылызкаауаз, ҳаҭыргьы изықәырҵоз. Зеиԥшыҟам аҵарауаҩ, агәымшәара злаз атәылауаҩ, апатриот Георги Александр-иԥа иҭҵаарадырратә ҭҵаарақәа рыла Аԥсни уи ажәлари рхақәиҭреи рхьыԥшымреи рыхьчара аус аҿы илагала ду ҟаиҵеит.
иналукааша аҵарауаҩ, ааӡаҩ, иналукааша атәылауаҩ, гәцаракра злоу аҩыза Амиҷба Георги Александр-иԥа ихьӡ иара дыздыруаз ргәалашәараҿы акыраамҭа иаанхоит.
АԤСУА ЖӘЛАР ДРЫԤХЕИТ АДЫРРА ДУ ЗМАЗ АУАҨЫ ЛАША, АУАҨААМЫСҬАШӘА
[аредакциазура | акод аредакциазура]Гьаргь Амҷба аԥсуа жәлар рҭоурых аҭҵаараҿы иааникылоз аҭыԥ хазын. Уи ишьҭихуаз апроблемақәеи, дзыхцәажәоз, иҭиҵаауаз атемақәа ргәылыршәашьеи ирыбзоураны аԥхьаҩцәа иусумҭақәа аҭыҵха рырҭомызт, еимыҵәҵәа иргон.
Гьаргь Амҷба жәа-монографиак дравторын, аҵарадырратә журналқәеи еиуеиԥшым аизгақәеи ирниҵахьаз аусумҭақәа маҷмызт, аха ианакәызаалак иара иҟәнишьон, „иҵегь сылшар ауан,“ – иҳәон.
Гьаргь Амҷба амедиевистикатә дунеи дагәылалеит Кавказ аҭҵаара знапы алакыз аҵарауаа дуқәа иара иахь ихьазырԥшыз, лахә-лахәы ишьклаԥшуаз иоппонентцәа ргәы ашьаҟәаҟәа ҭазҵаз, изыршәыз иусумҭа „Аԥсуа ҳәынҭқарра иазку ақырҭуа нарративтә хыҵхырҭақәа“ ала. Уи нахыс, хрыжь-хрыжь акәзаргьы, еишьҭагыланы рҿаархеит қырҭшәала еиԥш, бырзен бызшәала, шәамахь бызшәала ажәытә шәҟәқәа ирну ҳҭоурых цәырызгаз егьырҭ иусумҭақәагьы: „Абжьаратәи ашәы- шықәсақәа ирыҵаркуа ақырҭуа ҩыратә хыҵхырҭақәа Аԥсназы ирҳәо“,
„Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Аԥсны иамаз аполитикатә ҭагыла- заашьа“, „Абжьаратәи ашәышықә- сақәа ирыҵаркуа ақырҭуа ҩыратә хыҵхырҭақәа Аԥсни аԥсуааи рыӡбахә ишалацәажәо“, “Афон-Ҿыц“ уҳәа убас егьырҭгьы. Урҭ рӷьырак аԥсуа хылҵшьҭрақәа рҽеидкыланы, жәларык раҳасаб ала ишышьақәгылаз, нас VIII-X ашәышықәсақәа рзы Кавказ зегьы зырхыџхыџуаз афеодалтә ҳәынҭқарра шыҟарҵаз уҳәа ҳгәы зкуаз азҵаарақәа жәпакы рҭак ҳарҭоит. Егьырҭ иаҳдырбоит жәынгьы-ҿангьы ҭаха ҳазымҭоз ҳгәылацәа бзиахәқәа аҳәаҭыхла ирҿагыланы ҳабацәа дуқәа рыдгьыл гәакьеи рбызшәеи шырыхьчоз.
Аԥсуа культуратә ԥсҭазаараҿы зеиԥш ҟамлацыз хҭысхеит ҵакыла еиԥш, формалагьы иԥшӡаӡа 1993 шықәса рзы ҭырқәшәала Сҭампыл иҭыҵыз Гьаргь Амҷба ишәҟәы „Аԥсуааи алазқәеи“. Уаанӡа иҭыҵхьаз иҩымҭақәа реиԥш, ари ашәҟәаҿы автор аԥхьаҩ иирбоит абжьаратәи ашәышықәсақәа раан аԥсуа етно- политикатә шьақәгыларақәа ирымаз асоциалтә-политикатә ҭагылазаашьеи рхьыԥшымразы урҭ иаадырԥшуаз ахаҵареи.
Aбжьаратәи ашәышықәсақәа аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы даараӡа акрызҵазкуа аамҭан. Зегьы раԥхьаӡа иргыланы, ари Аԥсны афеодалтә еизыҟазаашьақәа рцәырҵреи рыҿиа- реи ираамҭан, ақьырсиантә культура ҳабацәа рабацәа дуқәа ианрылаҵәаз, аԥсуаа рхатә ҳәынҭқарра ҟаҵаны иаркы-ирцә ҳәа геи-шьхеи, ладеи-ҩадеи ианрыбжьаз аамҭан. Урҭ зегьы дырра ҳаракыла, гәык-ԥсык ала, ламысла рыҩра, усҟан, аҭоурыхтә ҵабырг, ишырҳәо еиԥш, ала ҟырҟы ианкылырхуаз аамҭазы, имариамызт.
Аҵарауаҩ ихи иԥси дырмеигӡар акәын. Гьаргь Амҷба абри аус аҿы илшаз ахә ашьара уадаҩуп.
Аҵыхәтәантәи ахәышықәса ирылагӡаны, изыԥшыз идыруазшәа, уи иҭижьит даҽа ҩ-шәҟәык: „Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Аԥсны иҟаз акультуреи аидеологиеи“, „Аԥсны абжьаратәи ашәышықәсақәа репохазы“.
Аԥхьатәи ашәҟәы, иара ахьӡ ахаҭа ишаҳәо еиԥш, VI-X ашәышықәсақәа рзы Аԥсны идыргылаз аҭоурыхтә баҟақәеи, ҳәынҭқарратә динк аҳасаб ала аԥсуаа ақьырсианра шрыдыркы-лази, насгьы урҭ рыԥсҭазаараҿы уи иааннакылаз аҭыԥи ирызкуп. Аҩбатәи ашәҟәаҿы ажәытәӡатәи аҩыратә хыҵхырҭақәеи, археологиатә материалқәеи, аетнологиеи ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, автор иааирԥшуеит аԥсуа жәлар рынхамҩа аҭоурыхи рсоциалтә еизыҟазаашьақәеи. Аха Гьаргь уи инапаҿы иааникыларатә еиԥш аразҟы илахь ианымызт.
Иҟоуп акьыԥхь зымбац даҽа усумҭа дук. Уи аԥсуаа рҭоурыхтә антро- понимиа иазкуп. Ари аусумҭа аԥсуаҭҵаараҿы уникалтә ԥҵамҭа ҿыцуп. Аԥсуа саԥсуоуп ҳәа адунеи ишьапы нықәиргылазар аахыс ихьӡырҵоз, хьыӡшьарас ирҭоз, иабиԥарахьыӡқәа уҳәа аԥхьаҩ зинтерес икыша, иџьеишьаша, илакәишьаша рацәоуп ари аусумҭаҿы. Автор ихаҭагьы уи азы алкаа ҷыда ҟаиҵеит: аԥсуа жәлар рҭоурыхтә антропонимиа ретностә ҭоурых аҭҵаара акырӡа иацхраауеит, иҭнагоит. Ҩашьара ақәымкәа уи иаҳнарбоит иара убас урҭ рполитикатә, ркультуратә ориентациагьы.
Гьаргь Амҷба зымҽхак ҭбааз ҵарауаҩын. Уи ибзиаӡаны идыруан дызлиааз ижәлар рбызшәа амаӡақәа, аԥсы ахьҭаз, урҭ рҵасқәеи рқьабзқәеи рҷыдарақәа, рҿаԥыцтә рҿиамҭақәа уҳәа аԥсуара злеибарку зегьы. Абри аганахь ала иналкааны иазгәаҭатәу усумҭоуп иетнологиатә ҭҵаамҭа „Аԥсуаа рҽыбӷаҟазара“. Хаҭала иара автор „адәы иқәигаз“ аматериал хьыршәыгәқәа ихы иархәаны, ицәыригеит ҳажәлар рыбзазара иузалымхуа иалаз аҽы акульт, иахьанӡагьы урҭ даҽа жәларык ирылазмырҩашьо абаҩҷыдара, ретностә специфика.
Аҵарадырраҿы Гьаргь Амҷба изы аус злаз аҭоурытә факт акәын. Афакт иара изы ихсаалаган, ишәага-заган, иқәырԥшыган, зегьы зхагьежьуаз лыран.
Гьаргь Амҷба дагьеиҭагаҩын. Алықьса Гогәуеи иареи еицхырааны Иаков Цурҭавели иҭоурыхтә рҿиамҭа „Шушаник игәаҟра“ аԥсышәала идырцәажәахьан. Иара ихалагьы аԥсуа ԥхьаҩ ииҭахьан Константине Гамсахурдиа иажәабжьқәа акыр. Аԥсшәа аҟынтә ақырҭшәахь еиҭеигахьан „Нарҭаа репос“. Гьаргь Амҷба ибзоураны аԥсуа ԥхьаҩцәа ироухьан арумын шәҟәыҩҩ Виктор Кернбахи, авенгр ҭоурыхҭҵааҩ Лиош Ҭардии, америкатәи аетнолог Сула Бенети аԥсуаа ирызкны ирыҩхьоу ашәҟәқәа.
Гьаргь Амҷба аԥсабара иланаҵаз абаҩхатәреи идырра дуи аԥсуа ҵарадырреи аҵараиурҭақәеи рзы иҵәатәышьаҟақәан. Жәашықәсала уи иџьабаа Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт иадиҵахьан. Уи араҟа зквалификациа ҳаракӡоу аҭоурыхҭҵааҩцәа дреиуан. Аԥсуа Ҳәынҭқарратә университет аҿы алеқциақәа дрыԥхьон, зны Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнографиеи ркафедра дреиҳабын, аҽазных аҭоурыхтә факультет дахагылт, ддеканын. Абраҟа Гьаргь Амҷба дпрофессорын, аҿар аҭоурых дирҵон, аԥсуара рылаиааӡон.
Гьаргь Амҷба ҵарауаҩык иаҳасаб ала ддуун, рҵаҩык иаҳасаб алагьы. Аха „издыруеит“ ҳәа мыцхәы иҳәомызт. Иҵкыс аҵара сымоуп ҳәа, ипара збеит ҳәа амалахазгьы ауаҩы диқәыӷә-ӷәомызт, длаирҟәуамызт, уимоу, дзацәажәоз џьара иакәымк иамхаҳәаргьы, дхьижәомызт, имаршәа кны, имырхьааӡакәа ихы иирдыруан.
Хынҩажәифба шықәса қәрам аԥсуа хаҵа изы. Иуаҩра дынҭалеит аҟароуп.
Гьаргь инарцәымҩа дықәлеит еиҳагьы ҳажәлар рҿахәы аниҳәашаз, еиҳагьы анилшашаз, еиҳагьы данаҳҭахыз аамҭазы.
Гьаргь дҵарауаҩын, дҵарауаҩыҵәҟьан. Аԥсуа ҭоурыхҭҵаара иара ида ихьысҳахоит. Шәҩыла анцәа иҳаҭәеишьааит, аха иахьазы Гьаргь Амҷба дзыԥсахша аҭоурыхҭҵааҩ иԥшаара мариам. Уи иахьа еиҵагылоу аԥсуа интеллигенциа зырбеиоз, иӡырызгоз, изырԥшӡоз, ҳагьзлаҽхәоз ауаа хатәрақәа, ауаа нырҳарақәа дреиуан.
Ҟазшьала Гьаргь дҭынчшәа дыҟан, аха дыџьбаран, дтәаны думбар, дгыланы ихы уирбомызт, ачҳара змаз жәытә арԥысын, даамысҭашәан. Аиҩызараҿ дԥышәан – даартын, дыгәшаҭаҩын, дгәыбылҩын, дчеиџьыкауаҩын.
Ҳажәлар дрыԥхеит аҵеи хазына, аҵеи лаша, аҵеи хьӡырҳәага – ауаҩ ду.
АҨЫЗА ИГӘАЛАШӘАРA
Гьаргь Амҷба изкны
Аҧсынтәыла еицырдыруа,
Амҷаа рыжәла аҩнаҭақәа:
Қьаҭуан аӡиас уахьныруа,
Исҧылоит руак ашәахәақәа...
Аха иахьа, са сыгәжәажәо,
Сҟалеит ара, сгәы ҧшаауа,
Исҳәарц исҭахыу цқьа исҿамшәо,
Исҳәо, мчыла исыҧшаауа.
Иахьа са сзы имариа усуп,
Аҵәыуара, агәырҩара.
Ажәа азыҳәан са сгәы дысуп,
Жора, уыҟамаз ара.
Еишьеи-еиҳәшьеи фҩык ахшара,
Шәахьааӡаз аҩнаҭа:
Шәахьазгылаз шәа шәлашаран,
Сара сыдгьыл сгәыҕырҭа:
Иахьа исҧылом ахы шьҭыхны,
Шәыла иыршәшьуп алакҭа;
Игәырҩо, уеишәа-маҭәа шьҭыхны,
Умҩа иаҧҧшылауеит еиҭа.
Гьаргь, уа умҩа, уи шьхацамҩан,
Еснагь иацын акрура.
Аҧсынтәыла аҭоурых иамҩан,
Гәыла иҭуҵаауан уара.
Џьара афырхаҵара узцәырҵуан,
Уара иуцлартә уаҟара.
Уыжәлар ррыцҳарақәа ӡырҵуан,
Уҧсылмыткыртә ҽаџьара.
Џьара ҳаҧсуара амҵәыжәҩақәа,
Уҧылон ажәҩан ахь уҧрыртә,
Усҟан иуҳәоз ахьы-жәақәа,
Рымчгьы шьҭыҵуан имбырыртә.
Џьара аҧсуа ихьӡ, ма ижәла,
Аҭоурых мҩа иахьаныз,
Ицәеицазкуаз амчқәа ижәлар,
Уара иубарҭан иахьаныз.
Урҭ, уара абырҵкал икылхны,
Ҧхьаҟа хсаалас иҟоуҵон.
Аҭоурых аҟырҟы иҭыхны,
Ҳаҧсуара, ахш еиҧш иураӡон.
Аҧсуа хаҵа ҽыбҕа-ҟаза,
Иҕьеҩра, иҧшӡара угәаҧхон,
Аҭоурыхаҿ, уи ауаҩ ҟаса,
Ихаҿсахьа еиҳаурхон.
Ауаҩ хӡырымга, ауаҩ хатәра,
Гьаргь уқьиан, уразын.
Уара иуаҭәоу ажәа хатәра,
Сара исызҳәом иахьазын.
Уара иурҿиаз, уара иухылҵыз,
Уашьцәа, уаҳәшьцәа Анцәа рзырҳа;
Аҧсуара гәҭылса иагәылҵыз,
Иацырҵааит удоуҳа!..
Борис Гәыргәлиа
АУАҨЫ ЛАША
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аԥсуа Аҳәынҭқарратә университет, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт
АУАҨЫ ЛАША
Ҭеиҭԥшла деинаалан, гәаҭала дыԥшӡан,
Даамысҭашәан, иажәа ҟәышын, ираӡан.
Ажәытәтәи аҩырақәа асаба рхых,
Адунеи аҵахьтә иҭиҵаауан ҳҭоурых,
Ԥсыхәак аҭан аиаша иҳәон,
Ҿымҭ-псымшьа иус ҟаиҵон.
Ҳзықәшәаз хьааигон, ихатәгәырҩеиԥш,
Гәҭыхас иман ԥхьаҟа ҳԥеиԥш...
Дзыхьӡаз ҟәнаҳшьом - ирацәоуп.
Дызхьымӡаз мцаха иҳацроуп!
Иҳамчгәышьои - бзиала ҳҳәароуп,
Агәырҩа иҳаиҭаз ҳанышәароуп.
Иара дзыԥсахша ирызҳароуп,-
Иҭыԥ ҭацәны иаанымхароуп.
Ҳҭоурых меихсыӷьуа иҿиалароуп.
Ихьӡ меицакуа иаццалароуп...
Даамысҭашәан. Дуаҩылашан.Деиҿкаан.
Дызхылҵыз иԥсадгьыл еиԥш дыԥшӡан.
Цәала-жьыла дцазаргьы дымҩас,
Дхааӡа дҳалаԥхоит мраҵас.
Даднакылахьеит Ахраҭ,
Агәашәқәа изаатхьеит џьанаҭ.
Жәларык аҵеицәа иҳацәҭахаз,
Уаҟа иԥылеит ҭынхаҵас.-
Ҳа ҳазҽеихар ожәшьҭа арахь,
Рыԥсқәа ҭынчхоит урҭгьы уахь