Гомер
| Гомер | |
|---|---|
| Ὅμηρος | |
|
Гомер ибиуст аклассикатә скульптура акопиақәа рмузеи аҟны, Миунхен | |
| Ахатәы хьӡы | Ὅμηρος |
| Аира |
9-тәи ашәышықәса ҳ. ҟ. иӡбам: Саламин, Колофон, Смирна, Афины, Аргос, Родос, иара убас Иос. |
| Аԥсра |
8-тәи ашәышықәса ҳ. ҟ. Иос адгьылбжьаха |
| Аусура | апоет, иныҟәаҩу ашәаҳәаҩ-аед, ааӡаҩ. |
| Абызшәақәа | Ажәытәбырзен бызшәа |
| Амилаҭра | Абырзенцәа |
| Апериод | 8-тәи ашәышықәса ҳ. ҟ. |
| Ажанр | Афырхаҵаратә епос |
| Magnum opus | «Илиада», «Одиссеиа» |
Гомер (ажә. бырз. Ὅμηρος) — еицырдыруа ажәытәбырзен поет-ажәабжьҳәаҩы, аепикатә поемақәа «Илиада» (европатәи алитература реиҳа ижәытәӡоу абаҟа[1]) иара убас «Одиссеиа» раԥҵаҩы. Иԥсҭазаара ҳ. ҟ. VIII—VII-тәи ашәышықәсақәа рахь иаҵанакуеит (зны-зынла ҳ.ҟ. IX-тәи ашәышықәсахь[2])[3], аха иара иҭоурыхтә ҟазшьа уажәгьы ҩашьарада иҟам[2][4]. Иҟалап уи даедызҭгьы (аклассикатә Бырзентәыла аепикатә поемақәа рынагӡаҩы).
Иԥшааз ажәытә бырзентә литературатә папирусқәа рызбжак раҟара Гомер иҩымҭақәа рцыԥҵәахақәа роуп[5]. Платон Гомер аеллинцәа раԥхьатәи рааӡаҩ ҳәа изиҳәон[6].
Анысымҩа

Гомер иԥсҭазаареи ихаҭареи ирызкны ҩашьарада акгьы еилкаам[3][7]. Аха еилкаауп, «Илиадеи» «Одиссеиеи» рҿы зыӡбахә ҳәоу ахҭысқәа акырӡа рышьҭахь ишаԥҵаз, аха урҭ рыҟазаара ииашаны иананҵаз ҳ. ҟ. VI-тәи ашәышықәсанӡа. Иахьатәи аҭҵаарадырра Гомер иԥсҭазаара аҭыԥ ахьанаҭо ахронологиатә аамҭа ҳ. ҟ. VIII-тәи ашәышықәса ауп. Егьырҭ ажәытә хыҵхырҭақәа ирҳәоит уи Троиатәи аибашьраан дынхон ҳәа[8]. Иахьазы иҟоуп аира арыцхәқәеи урҭ рзы ашьақәырӷәӷәарақәеи (иаҳҳәап, Мартин Личфилд Уест ари арыцхә шәышықәсабжак ала еиҵеитәуан — ҳ.ҟ. аабатәи ашәышықәса анҵәамҭантәи абыжьбатәи ашәышықәса аҟынӡа[9]).
Гомер дахьиз аҭыԥ еилкаам. Гелли иепиграмма инақәыршәаны, антикатәи атрадициаҿы быжь-қалақьк иԥсадгьыл ҳәа ахьӡҵара азин иазықәԥон: Смирна, Хиос, Колофон, Саламин, Родос, Аргос, Афины, насгьы ари епиграмма авариациақәа Кима, Пилос, Итака ахьӡқәагьы рҳәоит[10][11][7]. Псеудо-Геродот ашәҟәы аҿы, Павсани «Еллада ахҳәаа» ҳәа зыӡбахә ҳәоу ашәҟәы аҿы ишырҳәаз ала, Гомер дыԥсит Кикладтәи архипелаг аҿы иҟоу адгьылбжьаха Иос аҟны (уажәы дим Абырзен Ремпублика аперифериатә еилазаара иаҵанакуеит). Иҟалап, «Илиадеи» «Одиссеиеи» ҩызҭгьы Бырзентәыла азиахәыҷтәи аԥшаҳәаҿы, Иониатәи ажәларқәа ахьынхоз, мамзаргьы ааигәа иҟаз адгьылбжьахақәа руак аҟны. Аха Гомер идиалект ииашоу адыррақәа аанагаӡом, избанзар уи ажәытә бырзен бызшәа иониатәии еолиатәии адиалектқәа реилаҵа ауп. Иҟоуп агәаанагара, иара идиалект Гомер диаанӡагьы акыршықәса раԥхьа ишьақәгылахьаз апоетикатә коине аформақәа ируакуп ҳәа. Аҭҵааҩы Андреи Александр-иԥа Пустогаров игәаанагарала, «Илиада» зҩыз троиатәи ауаҩы иоуп. Уаҟа Троиа аҳра ҭынхас иамаз Гектор иеибашьрақәеи иԥсреи рыӡбахә атәы ҳәоуп. Ашәҟәы алагоит Гектор дызлахәыз аибашьра аҽазыҟаҵарала, насгьы иԥсреи иԥсыжреи рыла ихыркәшоуп. Ахеиаа рыӡбахә лассы-лассы аирониа аҵоуп, троиаа ракәзар — ифырхацәа ҳаракқәоуп. Троиатәи аибашьра егьырҭ ахҭысқәа зегьы хыркәшарада иаанхоит[12].
Ишаԥу еиԥш Гомер длашәны даадырԥшуеит. Еиҳаракгьы иҟалап ари ахшыҩҵак иԥсҭазааратә фактқәа ирхылҿиаауа акәымкәа, антикатәи анысымҩа ажанр азы иҟазшьарбагоу реконструкциазар[7]. Ахьӡ «Гомер», уи аԥхьара версиак ала, ҵакыс иамоуп «илашәу» (ὁ μῆ ὁρῶν) ҳәа[10]. Аԥааимбаражәатәи апоетикатәи абаҩхатәрақәа еидызкылоз антикатә логика инақәыршәаны, Гомер илашәра иазку агәаанагара аҵабырг цәгьала иазааигәаны уаҩ илахь иааиуан. Уи адагьы, ашәаҳәаҩ Демодок «Одиссеиаҿы» даниз инаркны длашәуп[13], уигьы автобиографиатә ҟазшьа амоуп ҳәа угәы иаанагар алшоит.
Иҟоуп Гомери Гесиоди рыбжьара иҟалаз апоезиатә еицлабра иазку алегенда, уи зыӡбахә ҳәоу аусумҭа «Гомери Гесиоди реицлабра» III-тәи ашәышықәса ҳ. ҟ. аасҭа еиҳа ихьшәаны акәымкәа, аҭҵааҩцәа аӡәырҩы излазгәарҭо ала — акырӡа заагьы иаԥҵан[14]. Апоетцәа Евбеи адгьылбжьахаҿы иԥсыз Амфидем иаҳаҭыр азы ахәмаррақәа рҿы еиқәшәеит ҳәа рҳәоит, насгьы доусы иреиӷьыз ражәеинраалақәа ирыԥхьон. Аицлабраҿы ӡбаҩыс иҟаз аҳ Панед аиааира Гесиод ииҭеит, избанзар иара аибашьреи ашьрақәеи рахь акәымкәа, ақәаарыхреи аҭынчреи рахь ааԥхьара ҟаиҵоит. Убри аамҭазы, ауаа Гомер еиҳа идгылоит.
Илиадеи Одиссеии рыдагьы, аԥҵамҭақәа жәпакы Гомер идырҳәалоит, ҳәарада, аамҭала кырӡа уи ашьҭахь иаԥҵаз: «Гомер ихьыӡрашәақәа» (ҳ.ҟ. VII—V-тәи ашәышықәсақәа, Гомер иҩымҭақәа реиԥш абырзен поезиа ижәытәӡоу ҿырԥштәқәаны иԥхьаӡоуп), акомиктә поема «Маргит» уҳәа убас иҵегьы.[10] Византиаа ҩажәаҟа поема (ациклтәқәагьы уахь иналаҵаны) равторра Гомер идырҳәалоит, уи атәы ҳҳәар ҳалшоит, иаҳҳәап, Константин Гермониак иҟаиҵаз Илиада апоетикатә еиҭаҟаҵара ҳахәаԥшны[15].
Ахьӡ «Гомер» аҵакы (раԥхьаӡакәны иуԥылоит ҳ.ҟ. VII-тәи ашәышықәсазы, Ефестәи Каллин «Фиваида» зҩыз ҳәа ихьӡ аниҳәо) антикатә аамҭахгьы аилыркаара рҽазыршәахьан, иҟан аҵакы авариантқәа «абаандаҩы» (Гесихи), «иашьҭанеиуа» (Аристотель) мамзаргьы «алашә»[10][16][17][18] (Кимтәи Ефор), «аха абарҭ авариантқәа зегьы, иахьатәи ажәалагалақәа — уи „аиқәыршәаҩ“ мамзаргьы „аккомпаниатор“ ҳәа аҵакы аҭара — реиԥш, рыгәра угартә иҟам. <…> Ари ажәа Иониатәи аформаҿы Ομηρος — шамахамзар ииашаҵәҟьаны хатәы хьӡуп»[7][19].
«Гомер иҳаҭгәын» Санкт-Петербургҟа иааигеит аурыс флот афцар М. Домашнев, уи 1770 шықәсазы Егеиатәи архипелаг адгьылбжьахақәа руак аҿы имҩаԥысуаз, 1768—1774 шықәсқәа рзтәи Аурыс-Ҭырқәа еибашьра аан аграф Алексеи Григори-иԥа Орлов-Чесменски инапхгара аҵаҟа имҩаԥысуаз Актәи архипелагтә експедициа аан иԥшааит. Асаркофаг аграф Александр Сергеи-иԥа Строганов итәхеит, Строганов идача апарк аҿы иқәыргылахеит. Анаҩс аграф даара игәы иахәеит Гомер иҳаҭгәын иазку алегенда Санкт-Петербург иахьалаҵәаз[20]. Иахьазы уи Аҳәынҭқарратә Ермитаж аколлекциаҿы иҟоуп. Строганов исаркофаг аԥхьатәи аҭӡамц аҿы иану асахьақәа шамахамзар зегьы Мирмекиатәи асаркофаг аԥхьатәи аҭӡамц аҿы иҟоу арелиеф ацәынхақәа ирышьашәалоит.
Гомер изҵаара
- Ихадароу астатиа: Гомер изҵаара
«Илиадеи» «Одиссеиеи» равторра, урҭ рхылҵшьҭреи рԥеиԥши рҭаҩра аамҭа аҟынӡа ирызку апроблемақәа реизга «Гомер изҵаара» ҳәа хьӡыс иаиуит[21]. Уи антикатә аамҭазгьы ицәырҵхьан[22], убас, иаҳҳәап, усҟан иҟалеит аҳәамҭақәа, Гомер иепос Троиатәи аибашьра аамҭазтәи апоетесса Фантасиа лпоемақәа рышьаҭала иаԥиҵеит ҳәа.
«Аналитикцәеи» «аунитаристцәеи»

XVIII-тәи ашәышықәса анҵәамҭанӡа европатәи аҭҵаарадырраҿы аԥыжәара аман агәаанагара «Илиадеи» «Одиссеиеи» зҩыз Гомер иоуп, насгьы урҭ еиқәырханы иҟоуп иара ишаԥиҵаз еиԥшҵәҟьа ҳәа (аха, аббат Франсуа Еделин д'Обиниак 1664 шықәсазы иҩымҭа «Conjectures académiques» аҟны иҳәеит «Илиадеи» «Одиссеиеи» ҳ.ҟ. VIII-тәи ашәышықәсазы Ликург Спарта еизигаз хазы игоу ашәақәа реизгақәа роуп ҳәа). Аха, 1788 шықәсазы Ж. Б. Вилуазон иҭижьит акодекс Venetus A аҟынтәи Илиадазы асхолиақәа, урҭ ҿыгҳарала апоема ахаҭа акырӡа иеиҳан, насгьы антикатә филологцәа (еиҳарак Ефестәи Зенодот, Византиатәи Аристофан, Самофракиатәи Аристарх) иртәыз шәкыла авариантқәа агәылан. Ари ашәҟәы анҭыҵ ашьҭахь еилкаахеит Александриатәи афилологцәа Гомер ипоемақәа рцәаҳәақәа шәкыла гәҩарас ишрымаз, мамзаргьы ииашамкәа ишырыԥхьаӡоз; урҭ анапылаҩырақәа рҟынтәи ианырхуамызт, аха иҷыдоу адыргала иалыркаауан. Асхолиақәа рыԥхьарагьы иҳамоу Гомер итекст апоет иԥсҭазаараҿы ҳәа иԥхьаӡоу аамҭа акәымкәа аеллинтә аамҭа иаҵанакуеит ҳәа алкаахьы ҳнанагоит. Абарҭ афактқәеи егьырҭ ахшыҩзышьҭрақәеи шьаҭас иҟаҵаны (уи гәаанагарала Гомер иаамҭазы аҩыра ыҟамызт, убри аҟнытә апоет илшомызт абас еиԥш идуу апоема аԥҵара), Фридрих Август Вольф ишәҟәы «Пролегомены к Гомеру»[23] аҿы апоемақәа рыҩбагьы рыҟазаараан даараӡа шьаҭанкыла рҽырыԥсахуан ҳәа агәаанагара шьҭихит. Абасала, Вольф излеиҳәо ала, «Иллиадеи» «Одиссеиеи» авторк итәуп ҳәа аҳәара залшом.
Вольф Илиада атекст (цәгьам-бзиам иахьатәи аформала) ашьақәгылара аамҭа ҳ.ҟ. VI-тәи ашәышықәса иаҵанакуеит ҳәа иԥхьаӡоит. Аиашазы, антикатә авторцәа ԥыҭҩык (Цицеронгьы уахь дналаҵаны) излаарыцҳауа ала, Гомер ипоемақәа раԥхьаӡакәны еизганы иҩын Афинатәи атиран Писистрат мамзаргьы иԥа Гиппарх рыдҵала. Ари «Писистраттәи аҭыжьымҭа» ҳәа изышьҭоу аҭахын Панафинеиаҿы «Илиадеи» «Одиссеиеи» рықәыргылара еиҳа арманшәаларазы. Аналитикатә знеишьа шьақәнарӷәӷәеит апоемақәа ртекстқәа рҿы иҟоу аиҿагыларақәа, урҭ рҿы аамҭарацәатә шьаҭақәа рыҟазаара, асиужет хада аҟынтәи инарҭбааны ацәхьаҵрақәа.
Аналитикцәа Гомер ипоемақәа шышьақәгылаз азы еиуеиԥшым агәаанагарақәа ҟарҵеит. Карл Лахман агәра ганы дыҟан «Илиада» ашәа хәыҷқәа рыла иаԥҵан ҳәа («ашәа хәыҷқәа ртеориа» ҳәа изышьҭоу). Готфрид Герман, уи аҭыԥан, агәра ганы дыҟан, апоемақәа зегьы ашәа маҷ хәыҷы-хәыҷла аҽарҭбаарала ицәырҵит ҳәа, уи еиҳа-еиҳа аматериал ҿыц ацлон («раԥхьатәи агәыцә атеориа» ҳәа изышьҭоу).
Вольф иҿагылаҩцәа («аунитарицәа» ҳәа изышьҭоу) еиуеиԥшым аҿагыларатә аргументқәа ықәдыргылеит. Актәи, «писистраттәи аҭыжьымҭа» аверсиа агәра ганы иҟамызт, избанзар уи иазку адыррақәа зегьы акырӡа игәиантәуп. Ари ажәабжь аеллинтә аамҭазы иҟалар алшон усҟантәи аҳцәа русқәа ирҿырԥшны, урҭ еиуеиԥшым анапылаҩырақәа рыԥшаара иазгәышьуан (шәахәаԥш Александриатәи абиблиотека). Иҩбахаз, аиқәымшәарақәеи ацәхьаҵрақәеи авторцәа рацәаны ишыҟоу аанарԥшӡом, избан акәзар урҭ хымԥада аҩымҭа дуқәа рҿы иуԥылоит. «Аунитарицәа» апоемақәа зегьы равтор иакзаара шьақәдырӷәӷәон, «Иллиадеи» «Одиссеиеи» рҟны ахшыҩҵак аиашара, акомпозициа аԥшӡареи асимметриеи иаҵшьны.
«Аҿаԥыцтә теориеи» «анеоаналитикцәеи»
Гомер ипоемақәа ҿырҳәала еиҭаҵуан ҳәа агәаанагара, автор аҩырадатә аамҭазы дынхон азы, ажәытәанӡагьы иаарԥшын; избан акәзар иҟан адыррақәа ҳ.ҟ. VI-тәи ашәышықәсазы Афинатәи атиран Писистрат Гомер ипоемақәа ртекст официалла аԥҵаразы анапынҵа шииҭаз ала.
1930-тәи ашықәсқәа рзы америкатәи апрофессор Милман Перри ҩ-експедициак еиҿикааит, ари атрадициа Гомер итекстқәа рҿырԥшра хықәкыс иҟаҵаны, аладаславиантәи аепос аҭҵааразы. Ари амҽхак ду змоу аҭҵаара иалҵшәаны «ҿырҳәалатәи атеориа» еиқәыршәан, уи «Перри-Лорд итеориа» ҳәагьы иашьҭоуп (Альберт Лорд — изаамҭанымкәа иԥсыз М. Перри иус анагӡаҩы). Аҿаԥыцтә теориа инақәыршәаны, Гомер ипоемақәа рҿы иуԥылоит ҩашьара зқәым аҿаԥыцтә епикатә жәабжьҳәара аҷыдарақәа, урҭ рахьтә зегь реиҳа ихадароу апоезиатә формулақәа рсистема ауп. Ҿырҳәалатәи ажәабжьҳәаҩ еснагь ашәа ҿыцны иаԥиҵоит, аха нагӡаҩыс мацара ихы иԥхьаӡоит. Сиужетк змоу ҩ-ашәак, ҩаӡаралеи ажәала рцәажәашьалеи зынӡа еиԥшымзаргьы, ажәабжьҳәаҩ иганахьала ашәакуп, еиԥшымкәа «инарыгӡоу». Ажәабжьҳәаҩцәа аԥхьара-аҩра рыздырӡом, избан акәзар ишьақәыргылоу атекст аидеиа аимпровизациатә техника иазеицәоуп.
Абасала, ажәалатәи атеориа аҟынтәи иаабоит, «Илиадеи» «Одиссеиеи» ртекстқәа равтор ду ма равторцәа (Гомер иоуп) рыԥсы ахьынӡаҭаз ишьақәырӷәӷәо аформа шроуз. Аҿаԥыцтә теориа аклассикатә вариант урҭ апоемақәа диқтантла рҭаҩра аанагоит, избан акәзар урҭ аимпровизациатә традициа аҳәаақәа ирҭагӡаны ҿырҳәала ирыладырҵәозҭгьы, даҽазны рынагӡараан ртекст шьаҭанкыла аҽаԥсахуан. Аха иҟоуп даҽа еилыркаарақәакгьы. Апоемақәа рыҩбагьы авторк иакәу, ҩыџьа ракәу иаԥызҵаз, атеориа иҳаилнаркааӡом.
Уи адагьы, ажәалатәи атеориа ишьақәнарӷәӷәоит «Гомер иаԥхьа апоетцәа рацәаҩын» ҳәа иҟаз ажәытәтәи агәаанагарақәа. Иҵабыргыҵәҟьаны, аҿаԥыцтә епикатә жәабжьҳәара атехника акыр шәышықәсалатәи аҿиара иахылҵшьҭроуп, апоемақәа равтор ихаҭаратә ҟазшьақәа аанарԥшӡом.
Анеоаналитикцәа аналитика ҳаамҭазтәи ахаҭарнакцәа ракәӡам. Анеоанализ — Гомер иҭҵаарақәа рҿы автор ихы иаирхәоз раԥхьатәи апоетикатә шьаҭақәа ралкаара иазку хырхарҭоуп. «Илиадеи» «Одиссеиеи» рыҿдырԥшуеит еиҭаҳәаралеи цыԥҵәахалеи ҳаамҭанӡа иааз ациклтә поемақәа. Абасала, анеоаналитикатә знеишьа аԥыжәара змоу аҿаԥыцтә теориа иаҿагылом. Иахьатәи аамҭазы зегь реиҳа иналукааша неоаналитикс дыҟоуп анемец ҭҵааҩы Вольфганг Кулман, амонографиа «Илиада ахыҵхырҭақәа» автор[24].
Асахьаркыратә ҷыдарақәа

«Илиада» зегь реиҳа ихадоу акомпозициатә ҷыдарақәа иреиуоуп Фаддеи Франци-иԥа Зелински ишьақәиргылаз «ахронологиатә еиқәымшәара азакәан». Уи злаҟоу ала, «Гомер иҟны ажәабжь ахаангьы иахьалагаз аҭыԥ ахь ихынҳәӡом. Ус анакәха, Гомер иҟны апараллельтә усқәа раарԥшра залшом; Гомер ипоетикатә техника иадыруа ҩбатәи, аԥшькәакьтә еизшәара акәымкәа, иаабац, ацәаҳәатә еизшәара мацара ауп»[25]. Абасала, зны-зынла апараллельтә хҭысқәа еишьҭаргыланы иаарԥшуп, зны-зынла урҭ рахьтә акы мацара аӡбахә ҳәоуп, мамзаргьы иҵәахуп. Уи ауп апоема атекст аҿы иҟоу еиқәымшәарақәак ҳаилзыркаауа.
Аҭҵааҩцәа иазгәарҭоит арҿиамҭақәа реимадара, ахҭысқәа реишьҭагыла аҿиара, афырхацәа хадақәа рхаҿсахьақәа реизакра. Гомер иажәалатәи аҟазареи уи аамҭазтәи аҿыханҵатә ҟазареи еиҿырԥшуа, лассы-лассы ирҳәоит апоемақәа ргеометриатә стиль аӡбахә[26]. Аха аналитикатә доуҳала еиҿагылоу агәаанагарақәа аарԥшуп «Илиадеи» «Одиссеиеи» ркомпозициа акзаара иазкынгьы[27].
Апоемақәа рыҩбагьы рыстиль формулатәуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Убри аан, аформула аклишеқәа реизга еиԥш еилкааӡам, аха ацәаҳәаҿы иалкаау аметрикатә ҭыԥк иадҳәалоу (иԥсаххо) аҳәоуқәа рсистема аҳасабала. Убасала, аформула ҳалацәажәар ҳалшоит, ажәеицааирак атекст аҿы знызаҵәык ианаҳԥылогьы, аха уи асистема ишахәҭакыз ааҳарԥшыр ҳалшоит. Аформулақәа рыдагьы, иҟоуп цәаҳәақәак рҟынтәи еиҭаҟало ацыԥҵәахақәагьы. Иаҳҳәап, персонажк даҽаӡәы иажәақәа анеиҭеиҳәо, атекст зегьы еиҭаҳәазар ауеит, мамзаргьы шамахамзар ажәа-ажәала.
Гомер еилоу аепитетқәа иҟазшьарбагоуп («ашьапыццак», «агәил нацәа змоу», «адыдрҵысҩы»); абарҭқәеи егьырҭ аепитетқәеи рҵакы ҭагылазаашьала акәымкәа, атрадициатә формулатә система аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәаԥшра ахәҭоуп. Убас, ахеиаа «шьапҟәазқәоуп», урҭ абџьар рҟәынҵаны рыӡбахә ҳәамзаргьы, Ахиллес аԥсшьараангьы «дшьапыласуп».
Абжьарашәышықәсазтәиқәеи иахьатәиқәеи ажәабжьҳәаҩцәа рпоетика ҭызҵаауа иахьатәи абызшәадырҩцәа, иаҳҳәап, Абжьаратәи Азиатәи, амҽхак ду змоу аепикатә ҿаԥыцтә жәабжьқәа ирҷыдароу аҟазшьақәа алыркаауеит, урҭ еиԥмырҟьаӡакәа еиҭарҳәарц азы сааҭрацәала ашәаҳәара аҭахуп. Убас, ажәабжьҳәаҩцәа архәҭақәа рышьақәгылашьа ақалақьқәеи ажәларқәеи рыла еиқәырыԥхьаӡоит, насгьы урҭ рыԥхьаӡарақәа рҿы ахаангьы агха ҟарҵаӡом, уи Гомер иҩымҭа «Илиадаҿгьы» иааԥшуеит, уа Троиаҟа идәықәырҵаз аӷбақәа рхыԥхьаӡара ақалақьқәа рсиа ҟаҵоуп, насгьы урҭ афлотилиақәа рнапхгаҩцәа ртәгьы ануп. Ари ажәлар рҿаԥыцтә гәынкылара иаҷыдароуп. Афырхацәа реилазаашьа, урҭ реибашьрақәеи рфырхаҵарақәеи рсиа реишьҭагылара ԥсахрада иаанхоит, уигьы «Илиада» азы иҟазшьарбагоуп. Аха иалкаау асиужет аҟазаареи афырхацәа хадақәа рнысымҩа еилкаамкәа иахьыҟоуи анаҩстәи атекстқәа рлитературатә усадулара иазааигәоуп, иҟалап, ҳ. ҟ. VI-тәи ашәышықәсазы Писистрат ихаан акәзаргьы. Убри аамҭазы, еиҳа ижәытәӡатәиу, архаикатә «Одиссеиа», амифтә цәыршәахәқәеи, аҟәыдырԥаҩ Цирцеиеи, аблазаҵәқәеи, адоумбеи-лестригонқәеи, аԥша анцәахәы Еол иеихатә ӷбеи ахьыҟоу, атәцәеи ажәлар ирылҵыз ауааи рзы агәрыцҳашьара аныԥшуеит, уи «Илиадаҿы» зынӡа ыҟаӡам; ҭҵааҩцәақәак ргәаанагарала, уи иаанарԥшуеит даҽа авторрак, мамзаргьы «Одиссеиа» даҽа социалтә ҩаӡарак аҟны ишыҟоу. Ари апоема еиҳа ижәытәӡатәиу ахылҵшьҭра иақәҿнаҭуазар алшоит, апроф. Г. А. Бокшчанин игәаанагарала, Пенелопа лыԥҳәысҳәаҩцәа рхымҩаԥгашьа бааԥсқәеи, Одиссеи урҭ шахьирхәыз аҟазшьеи, архаикаԥхьатәи абшьҭратә закәан аҟазшьа змоу. Убри аамҭазгьы, «Илиадаҿы» анашанатә џьашьахәқәеи алакәтә персонажқәеи ртәы ҳәа акгьы ыҟам, аха архаикатә ҟазшьа змоу аҳцәеи анапхгаҩцәеи рырратә фырхаҵара азышәаҳәара аҭыԥ амоуп.
Гомер ипоемақәа рҭоурыхтә шьаҭа
XIX ашәышықәса азбжазы аҭҵаарадырраҿы иҟан агәаанагара «Илиадеи» «Одиссеиеи» ҭоурыхтәым ҳәа. Аха Генрих Шлиман Гиссарлыктәи ахәаҟны, иара убас Микена имҩаԥигоз ажрақәа уи шиашам аадырԥшит. Анаҩс иаартын хетттәии мысратәии адокументқәа, урҭ Троиатәи аибашьраан иҟалаз ахҭысқәа реиԥшзаара рныԥшуеит. Микентәи ацыратә ҩыра (Ацәаҳәаҩыра Б) аилкаара «Илиадеи» «Одиссеиеи» раамҭазы иҟаз аԥсҭазаара иазкны адыррақәа рацәаны иаҳнаҭеит, ари аҩырала литературатә цыԥҵәахақәак шыԥшаамхазгьы. Иага ус иҟазаргьы, Гомер ипоемақәа рҟынтәи адыррақәа иҟоу археологиатәи адокументалтәи хыҵхырҭақәа иуадаҩны ирыдҳәалоуп, убри аҟнытә урҭ критикада рхархәара ҟалом: «ҿырҳәалатәи атеориа» аҟынтәи адыррақәа шаҳаҭра рзыруеит аҭоурыхтә дыррақәа рҿы ас еиԥш иҟоу атрадициақәа рҿы ицәырҵыр акәу аилагара дуқәа.
Уажәы еилкаахеит Гомер ипоемақәа рдунеи ажәытә бырзенцәа «ршәышықәса лашьцақәа» раан иҟаз аԥсҭазаара ииашоу асахьа шаанарԥшуа[28].
Гомер адунеитә культураҿы

Гомер ипоемақәа «Илиада», «Одиссеиа» ажәытә бырзенцәа ирырҭаз анырра ауриақәа Тора шырнырыз иаҿдырԥшуеит[29].
Ажәытә Бырзентәыла аклассикатә епоха аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟалаз аҵаратә система Гомер ипоемақәа рҵарала ишьақәгылан. Урҭ хәҭак, мамзаргьы зегьы гәынкыланы ирҵон, уи атемақәа рыла аԥхьарақәа еиҿыркаауан, уҳәа убас иҵегьы. Ари асистема Рим иаҿнаҵааит, уаҟа ҳера I-тәи ашәышықәса инаркны Гомер иҭыԥ Вергили иааникылеит. Маргалит Финкельберг ишазгәалҭо ала, аиааира ззымгаз Троиаа рышьҭрақәа реиԥш зхы зыԥхьаӡоз римаа Гомер ипоемақәа мап рцәыркит, уи иахҟьаны, абырзен бызшәала ицәажәоз Мрагылара аканонтә статус хьчо, Аиҭарҿиара ҟалаанӡа лаҭынтәи Мраҭашәара иацәыӡит[30].

Аклассика ашьҭахьтәи аамҭазы агекзаметриатә поема дуқәа Гомер идиалект ала иаԥырҵон, мамзаргьы «Илиадеи» «Одиссеиеи» ирҿыԥшны, мамзаргьы ирацлабуа. Урҭ рахь иаҵанакуеит Родостәи Аполлони иҩымҭа «Аргонавтика», Смирнатәи Квинт иҩымҭа «Пост-Гомертәи ахҭысқәа», насгьы Панополитантәи Нонн иҩымҭа «Дионис ихҭысқәа». Егьырҭ аеллинтә поетцәа, Гомер ихаҭабзиарақәа ирықәшаҳаҭхозаргьы, аепикатә форма ду рҽацәырыхьчон, «аӡиас дуқәа рҿы аӡы хәашьуп» ҳәа (Каллимах[31]) — аусумҭа хәыҷы аҿы мацара ауп валашьа змам ахаҭабхзиара аҟынӡа анаӡара ахьалшо ҳәа агәра ганы.
Ажәытәтәи Рим алитератураҿы еиқәхаз раԥхьаӡатәи (аԥҵәаха) аусумҭа абырзен Ливиус Андроник иҟаиҵаз аҩымҭа «Одиссеиа» аиҭага ауп. Римтәи алитература аусумҭа хада — Вергили ифырхаҵаратә епос «Енеида», «Одиссеиеи» (раԥхьатәи ашәҟәқәа 6) «Илиадеи» (аҵыхәтәантәи ашәҟәқәа 6) рҿыԥшра ауп. Гомер ипоемақәа иҟарҵаз анырра антикатә литературатә ҩымҭақәа шамахамзар зегьы рҿы иубарҭоуп.
Гомер Мраҭашәаратәи абжьарашәышықәсақәа рзы дрыздыруамызт избан акәзар Византиеи иареи реизыҟазаашьақәа ԥсыҽын, ажәытә бырзен бызшәа издыруамызт, аха агекзаметриатә фырхаҵаратә епос Вергили ибзоурала акультураҿы аҵакы ду ааннакылоит.
Византиа Гомер ибзианы дырдыруан, насгьы ибзианы дҭырҵаауан. Иахьа уажәраанӡагьы еиқәханы иҟоуп жәабала инагӡоу Гомер ипоемақәа зну Византиатәи анапылаҩырақәа, уи антикатә литературатә ҩымҭақәа рзы зеиԥшыҟам усуп. Уи адагьы, Византиатәи аҵарауаа Гомер изку асхолиақәеи ахҳәаақәеи рыҩуан, еизыргон, насгьы иаԥырҵон. Иахьатәи акритикатә ҭыжьымҭаҿы архиепископ Евстафи «Илиадеи» «Одиссеиеи» ирызку ихцәажәара быжь-томк амҽханакуеит. Византиатәи аимпериа аҵыхәтәантәи аамҭазы, насгьы уи анхыбгала ашьҭахь, абырзен напылаҩырақәеи аҵарауааи Мраҭашәараҟа амҩа рыԥшаауеит, насгьы Аиҭарҿиара аамҭазы Гомер ҿыц изааҭгылоит.
Данте Алигьери Гомер џьаҳаным актәи агьежь аҿы дҟаиҵоит, иқьырсианым, аха зусқәа бзиоу уаҩык иаҳасабала.
Иҟалап «Илиада» зегь раасҭа инаӡоу ахҩылаақәа руак Урыстәылаҟа иаазҭгьы Иуан III иԥҳәыс Софиа Палеолог лбиблиотека иацны XV-тәи ашәышықәсазы. Ари «академиатә сиа» Византиатәи аклассикатә қьаадырша асахьа змоу еиҭеигеит Михаил Васили-иԥа Ломоносов. Ақьаадырша аҩбатәи азбжак ԥыҭрак ашьҭахь гәымбылџьбарала игәылаԥиҟазар ҟалап Санкт-Петербург аус зуаз Август Лиудвиг Шлиоцер, насгьы XVIII-тәи ашәышықәсазы Германиа иҭиит, уаҟа уи ԥыҭрак ашьҭахь иагьыԥшаахеит. Раԥхьатәи аурыс бызшәахьы еиҭагоу апоезиатә еиҭага ду (Александриатәи ажәеинраалала «Илиада» ашәҟәқәа фба) Ермил Иуан-иԥа Костров итәуп (1787).
1829 шықәсазы Николаи Иуан-иԥа Гнедич инаигӡеит «Илиада» аиҭагара. Виссарион Григори-иԥа Белински ирецензиақәа изларҳәо ала, аоригинал аҟынтәи аиҭагара ҷыдала еиҷаҳаны, баҩхатәра дула иҟаҵан. Александр Сергеи-иԥа Пушкингьы Гомер иеиҭагара атәы акьыԥхь аҿы ҩынтә далацәажәеит: «Гомер иҩымҭа Илиада, Гнедич еиҭеигаз...» ҳәа зыӡбахә ҳәоу азгәаҭа ацны («Литературная газета», 1830, № 2; шәахә ат. 6) насгьы акуплет «Илиада аиҭагара иазкны»:
Сара исаҳауеит зыбжьы мгоу анцәатә еллинтә ажәа абжьы;
Аҭаҳмада ду игага сныруеит игәаҭеиуа ԥсыла.
Ари ажәеинраала аԥхьа мызкы шабжьаз, Пушкин иԥсабаратәу алаф ҳаҭыр ақәҵаны «Илиада аиҭагахь» ҳәа аепиграмма иҩит, уи зыхҟьаз аҭагылазаашьақәа реиқәшәара ауп (Гомер длашәын, Гнедич дыхәан):
Гнедич дпоет хәахәан, алашә Гомер иеиҭагаҩ,
Уи аиҭагагьы аганкахьала аҿырԥштәы еиԥшуп.
Анапылаҩыратә епиграмма Пушкин игәцаракны ицәаӷәеит.
Иара убас Гомер деиҭаргон Васили Андреи-иԥа Жуковски, Викенти Викенти-иԥа Вересаев, Павел Александр-иԥа Шуиски («Одиссеиа», 1948 ш., Уралтәи Ауниверситет Ашәҟәҭыжьырҭа, атираж 900 екземплиар). Адунеи аҭоурых аҿы зегь реиҳа идуу Гомер иҭыжьымҭа ҳәа иԥхьаӡатәуп «Московски Рабочии» ашәҟәҭыжьырҭа иҭнажьыз, ацәа жәпа змаз, ҩ-томкны иҭыҵыз «Илиадеи», «Одиссеиеи», 1982 шықәса — атираж 150 нызқь екземплиар.
XXI-тәи ашәышықәсазы Гомер иеиҭагара иацырҵоит: Максим Альберт-иԥа Амелин[32] («Одиссеиа» актәи ашәа, 2013 ш.); Александр Аркади-иԥа Сальников иахьатәи аурыс бызшәахьы еиҭеигеит «Илиада» (2011), «Одиссеиа» (2014—2015).
Аиҭагақәеи аиҭаҳәақәеи, аҭыжьымҭақәеи

- Ливи Андроник (ҳ.ҟ. 280 шықәсазшәа — ҳ.ҟ. 200. шықәсазшәа) «Одиссеиа» алаҭын бызшәахьы еиҭеигеит.
- 1165 шықәсазы Бенуа де Сент-Мор ажәытә францыз бызшәала «Троиа иазку ароман» ииҩит, 30000 цәаҳәа инареиҳаны зҵазкуа, уи Аквитаниатәи аҳкәажә Алиенора илзикит. Ианииҩуаз ихы иаирхәон Гомер ипоемақәа лаҭын бызшәала реиҭаҳәара, иара убас Фригиатәи Дарет иҩымҭа «Троиа аилаҳара аҭоурых», Криттәи Диктис иҩымҭа «Троиатәи аибашьра амшынҵа», Овиди иҩымҭа «Аметаморфозақәа».
- Константин Гермониак Епиртәи адеспот Иоанн II Орсини (1323—1335) иԥҳәыс Анна Палеологи (1335—1337 рзы Епиртәи адеспотина) раҳҭынратә поет иакәын. Урҭ рыдҵала, иара Гомер иҩымҭа «Илиада» аус адулара мҩаԥигеит, зегьы еилыркаауа абызшәала ҿыц иҩны. «Илиада» аверсиа ҿыц аҿы 8799 ажәеинраала 24 рапсодиатә ашәақәа рахь еизгоуп.
- Леонтиос Пилатос (?—1366) Франческо Петрарка изы алаҭын бызшәахьы апрозатә еиҭагара 1359 шықәсеи 1362 шықәсеи рыбжьара инаигӡеит.
- Анџьело Полициано (1454—1494) 1470 шықәсазы «Илиада» аҩбатәии ахԥатәии ашәақәа гекзаметрла алаҭын бызшәахьы еиҭеигеит, убри алагьы «Гомер қәыԥш» ҳәа ахьӡшьара даԥсахеит.
- 1488-1489 шықәсқәа рзы Флоренциа ақалақь аҿы хылҵшьҭрала абырзен Димитри Халкокондил раԥхьаӡакәны бырзен бызшәала «Илиадеи» «Одиссеиеи» икьыԥхьит. «Илиада» аҭыжьра ианазыҟеиҵоз иара ихы иаирхәеит 1468 шықәсазы Константинопольтәи алаҭын патриарх Никеиатәи Виссарион иара иаԥиҵаз Венециатәи Марк ихьӡ зху ашәҟәыҵәахырҭа (Марчиантәи ашәҟәыҵәахырҭа) иаиҭаз аманускрипт Venetus A.
- Андреас Дивус 1537 шықәсазы Венециа ақалақь аҿы икьыԥхьит «Илиадеи» «Одиссеиеи» алаҭын бызшәахьы реиҭагақәа.
- Џьорџь Чапмен (1559 шықәсазшәа — 1634) «Иллиадеи» «Одиссеиеи» раԥхьаӡатәи англыз бызшәахьы реиҭагақәа ҟаиҵеит.
- Кириак Андреи-иԥа Кондратович (1703—1788) 1758—1759 шықәсқәа рзы раԥхьаӡакәны «Илиада» прозала аурысшәахь еиҭеигеит. Аиҭага ҭыжьӡам, ишеиқәхазгьы.
- Михаил Васили-иԥа Ломоносов (1711—1765) — раԥхьаӡа иҭыҵыз «Илиада» аҟынтәи ацыԥҵәахақәа реиҭагақәа дравторуп.
- Пиотр Еким-иԥа Екимов (1735 раҟара — 1795 ашьҭахь) 1776—1778 шықәсқәа рзы «Илиада» апрозатә еиҭага икьыԥхьит, 1779 шықәсазы аҭауад Григори Александр-иԥа Потиомкин «Одиссеиа» апрозатә еиҭага изыҟеиҵеит.
- Ермил Иуан-иԥа Костров (1755—1796) 1778—1811 шықәсқәа рзы Александриатәи ажәеинраалала икьыԥхьит «Илиада» аиҭага.
- Николаи Иуан-иԥа Гнедич (1784—1833) 1829 шықәсазы «Илиада» гекзаметрла (аоригинал ажәеинраалатә шәагаа) аиҭага ҭижьит.
- Васили Андреи-иԥа Жуковски (1783—1852) 1849 шықәсазы иҭижьит «Одиссеиа» аиҭага гекзаметрла (аоригинал апоезиатә шәагаа).
Агәалашәара анаӡаӡатәра
- 1976 шықәсазы, Жәларбжьаратәи астрономиатә еидгыла Меркури аҟны 320 километр аҭбаара змоу акратер Гомер ихьӡ ахнаҵеит.
Азгәаҭақәа
- ↑ Vidal-Naquet, Pierre. Le monde d'Homère. — Perrin, 2000. — С. 19.
- ↑ 2,0 2,1 "Homer | Biography, Poems, & Facts | Britannica". Иархивтәоу аоригиналзы 2022-06-16 ахь. Ириашоу 2022-06-16 шықәсазы.
- ↑ 3,0 3,1 "ГОМЕР | Энциклопедия Кругосвет". Иархивтәоу аоригиналзы 2022-03-28 ахь. Ириашоу 2022-06-16 шықәсазы.
- ↑ ГОМЕР : [арх. 15 рашәарамза 2022] // Гермафродит — Григорьев. — М. : Большая российская энциклопедия, 2007. — С. 378-379. — (Большая российская энциклопедия : [в 35 т.] / гл. ред. Ю. С. Осипов ; 2004—2017, т. 7). — ISBN 978-5-85270-337-8.
- ↑ Finley, Moses. The World of Odysseus. — New York: The New York Review of Books, 2002. — С. 11—2. — ISBN 978-1-59017-017-5.; Finley’s figures are based upon the corpus of literary papyri published before 1963.
- ↑ ГРЕЦИЯ ДРЕВНЯЯ : [арх. 4 мшаԥымза 2022] // Гермафродит — Григорьев. — М. : Большая российская энциклопедия, 2007. — С. 705-729. — (Большая российская энциклопедия : [в 35 т.] / гл. ред. Ю. С. Осипов ; 2004—2017, т. 7). — ISBN 978-5-85270-337-8.
- ↑ 7,0 7,1 7,2 7,3 "Введенский Б. А. . Большая советская энциклопедия Том 12 — Большая Советская Энциклопедия Второе издание". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2014-03-19 ахь. Ириашоу 2014-03-19 шықәсазы.
- ↑ Graziosi, Barbara. The Invention of Homer. — Cambridge, 2002. — С. 98—101.
- ↑ "Search Icon". Иархивтәоу аоригиналзы 2023-05-18 ахь. Ириашоу 2023-05-18 шықәсазы.
- ↑ 10,0 10,1 10,2 10,3 Реальный словарь классических древностей / под ред. Ф. Любкера. — СПб., 1885. — Ст. «Homerus».
- ↑ Анпеткова-Шарова Г. Г., Дуров В. С. Античная литература. Ч. I: Греция. — СПб.: Филологический факультет СПбГУ, 2004. — Т. I. — С. 63. — ISBN 5-8465-0191-5.
- ↑ "Андрей Пустогаров. «Илиаду» написал троянец, или Краткая история греков". Иархивтәоу аоригиналзы 2025-11-11 ахь. Ириашоу 2026-01-17 шықәсазы.
- ↑ Одиссея VIII, 63 сл.
- ↑ Тронский И. М. История античной литературы М., 1983. С. 66.
- ↑ Constantin Hermoniacos. La guerre de Troie / ed. Émile Legrand. — Paris: J. Maisonneuve, libraire-editeur, 1890. — [Архивировано 19 нанҳәамза 2021 года.]
- ↑ P. Chantraine, Dictionnaire étymologique de la langue grecque, Klincksieck, Paris, 1968, vol. 2 (3-4) p. 797 ad loc.
- ↑ H.G. Liddell, R. Scott, A Greek-English Lexicon, rev. ed. Sir Henry Stuart-Jones, Clarendon Press, Oxford, 1968 ad loc.
- ↑ Pseudo-Herodotus, Vita Homeri1.3 in Thomas W. Allen, Homeri Opera, Tomus V,(1912) 1946 p. 194. Cf. Lycophron, Alexandra, l.422
- ↑ Боура С. М. Героическая поэзия / пер. с англ. — М.: Новое литературное обозрение, 2002. — С. 547.
- ↑ "Петербургские мифы о саркофаге Гомера". Иархивтәоу аоригиналзы 2025-01-19 ахь. Ириашоу 2025-01-19 шықәсазы.
- ↑ Анпеткова-Шарова Г. Г., Дуров В. С. Античная литература. Ч. I: Греция. — СПб.: Филологический факультет СПбГУ, 2004. — Т. I. — С. 64. — ISBN 5-8465-0191-5.
- ↑ "Введенский Б. А. Большая советская энциклопедия Том 12 — Большая Советская Энциклопедия Второе издание". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2014-03-19 ахь. Ириашоу 2014-03-19 шықәсазы.
- ↑ Wolf F.A. Prolegomena ad Homerum. Halle, 1795
- ↑ Kullmann W. «Die Quellen der Ilias». Wiesbaden, 1960
- ↑ Зелинский Ф. Ф. «Закон хронологической несовместимости и композиция Илиады» (в сб. Χαριστήρια. СПб., 1897, стр. 106).
- ↑ См. напр. Лосев А. Ф. Гомер. М., 1960, с. 130 слл.).
- ↑ См. напр. Клейн Л. С. Анатомия «Илиады». СПб., 1998, стр. 10).
- ↑ Феномен полиса в современной зарубежной историографии: Реф. сб. / РАН. ИНИОН. Центр социал. науч.-информ. исслед. Отд. истории; Отв. ред. Медовичев А. Е. — М., 2011. — 152 с. — (Сер.: Всеобщая история). С. 6.
- ↑ "2. ФОРМЫ ГРЕЧЕСКОЙ ЖИЗНИ, ПОДГОТОВИВШИЕ РОЖДЕНИЕ ФИЛОСОФИИ 2.1. Поэмы". Иархивтәоу аоригиналзы 2016-02-14 ахь. Ириашоу 2016-02-08 шықәсазы.
- ↑ "Журнальный зал | НЛО, 2008 N93 | Т. Ф. ТЕПЕРИК, В. БУЯКОВА, АЛИНА БОДРОВА — Гаспаровские чтения √ 2008". Иархивтәоу аоригиналзы 2014-05-14 ахь. Ириашоу 2014-05-14 шықәсазы.
- ↑ Гимн 2, 108—109.
- ↑ Гомер. Одиссея. Песнь первая Архив ҟаҵан 2013-08-29 азы Wayback Machine аҟны.. Перевод с древнегреческого и предисловие Максима Амелина. Новый мир. 2013, № 2.
Алитература
Атекстқәеи аиҭагақәеи
- Инарҭбаау адыррақәа шәахәаԥш астатиақәа Илиада, Одиссеиа рҟны
- шәахәаԥш иара убас: Гомер иҩымҭақәа англыз бызшәахьы реиҭагақәа
- Акьыԥхьра анцәыр, 1488 шықәсазы Флоренциа Димитри Халкокондил раԥхьаӡакәны иҭижьит «Илиадеи» «Одиссеиеи».
- Аурыс прозатә еиҭага: Полное собрание творений Гомера. / Пер. Г. Янчевецкого. Ревель, 1895. 482 стр. (приложение к журналу «Гимназия»)
- Асериа «Loeb classical library» аҟны аусумҭақәа хә-томкны иҭыҵит (№ 170—171 — Илиада, № 104—105 — Одиссеиа); насгьы № 496 — Гомер ихьыӡрашәақәа, Гомертәи аапокрифқәа, Гомер иԥсҭазаара иазку.
- Асериа «Collection Budé» аҟны аусумҭақәа жәба-томкны иҭыҵит: «Илиада» (алагалеи 4 томи), «Одиссеиа» (3 том) насгьы ахьыӡрашәақәа.
- Краузе В. М. Гомеровский словарь (к Илиаде и Одиссее). Со 130 рис. в тексте и картою Трои. СПб., А. С. Суворин. 1880. 532 стб. (ареволиуциаԥхьатәи ашкол ҭыжьымҭа аҿырԥштәы)
- Анпеткова-Шарова Г. Г., Дуров В. С. Часть I. Греция // Античная литература. — СПб.: Филологический факультет СПбГУ, 2004. — Т. I. — ISBN 5-8465-0191-5.
Гомер изку амонографиақәа
- Авдеенко Е.А. Гомер. "Илиада": Мировоззрение эпоса. Москва: Классис, 2017. 420 с. -(Серия "Классическая гимназия"). 500 экз. ISBN 978-5-9908708-4-0 Одобрено издательским советом Русской Православной Церкви
- Альтман М. С. Пережитки родового строя в собственных именах у Гомера. (Известия ГАИМК. Вып. 124). М.-Л.: ОГИЗ, 1936. 164 стр. 1000 экз.
- Гордезиани Р. В. Проблемы гомеровского эпоса. Тб.: Изд-во Тбил. ун-та, 1978. 394 стр. 2000 экз.
- Егунов, А. Н. Гомер в русских переводах XVIII—XIX веков. М.; Л.: Наука, 1964; переиздание М.: Индрик, 2001.
- Зелинский Ф. Ф. Гомеровская психология. Пг., Изд-во АН, 1920.
- Котенёва А. В. Психология в эпических поэмах Гомера. Понятия, феномены и механизмы. — Saarbrücken: LAP LAMBERT Academic Publishing, 2016. ISBN 978-3-659-95960-8
- Лорд А. Сказитель. М., 1994.
- Лосев А. Ф. Гомер. М.: ГУПИ, 1960. 352 стр. 9 т.э.
- 2-е изд. (Серия «Жизнь замечательных людей»). М.: Мол. гв., 1996=2006. 400 стр.
- Панченко Д. В. Гомер. «Илиада». Троя.[permanent анеишьа амам азхьарԥш] СПб., Издательство Европейского университета в Санкт-Петербурге. 2016.
- Петрушевский Д. М. Общество и государство у Гомера. М., 1913.
- Сахарный Н. Л. Гомеровский эпос. М.: ХЛ, 1976. 397 стр. 10000 экз.
- Суриков И. Е. Гомер — М.: Молодая гвардия, 2017. — 320 с. — (Серия «Жизнь замечательных людей») — ISBN 978-5-235-03989-6.
- Таруашвили Л. И. Гомер в зеркале новоевропейских переводов: Пластико-тектонический аспект. — М.: Памятники исторической мысли, 2013. — 176 с. — ISBN 978-5-88451-313-6
- Толстой И. И. Аэды: Античные творцы и носители древнего эпоса. М.: Наука, 1958. 63 стр.
- Фрейденберг О. М. Миф и литература древности. М.: Вост. лит. 1978. 2-е изд., доп. М., 2000.
- Челышев П. В., Котенёва А. В. Очерки по истории мировой культуры: боги и герои античной мифологии. М.: МГГУ, 2013. 351 с. 100 экз. ISBN 978-5-91615-032-2
- Челышев П. В. Античный космос и его обитатели. — Saarbrücken: LAP LAMBERT Academic Publishing, 2016. — 154 с. ISBN 978-3-659-96641-5
- Челышев П. В. Герои Троянской войны. Пособие. М.: Эдитус, 2017. 28 с. ISBN 978-5-000-604-4
- Челышев П. В. Хроники Илиона: духовно-нравственные основания истории. Пособие. М.: Эдитус, 2024. 64 с. ISBN 978-5-00217-251-1
- Челышев П. В. Хроники Илиона: Троянская война и конец рода героев. Пособие. М.: Эдитус, 2025. 66 с. ISBN 978-5-00217-478-2
- Челышев П. В. Очерки по истории культуры: феномен героического в античной мифологии. Пособие. М.: Эдитус, 2025. 72 с. ISBN 978-5-00217-477-5
- Шталь И. В. Художественный мир гомеровского эпоса. М.: Наука, 1983. 296 стр. 6900 экз.
- Ярхо В. Н. Вина и ответственность в гомеровском эпосе. Вестник древней истории, 1962, № 2, с. 4-26.
- G. Autenrieth, R. Keep. A Homeric Dictionary. New York, 1880.
- Cunliffe R. J. A lexicon of the homeric dialect. L., 1924.
- Leumann M. Homerische Würter. Basel, 1950.
- Michalopoulos, Dimitri, L'Odyssée d’Homère au-delà des mythes, Le Pirée: Institut d’Histoire Maritime Hellène, 2016, ISBN 978-618-80599-2-4
- Treu M. Von Homer zur Lyrik. München, 1955.
- Whitman C.H. Homer and the heroic tradition. Oxford, 1958.
Гомер ирецепциа:
- Егунов А. Н. Гомер в русских переводах XVIII—XIX вв. М.-Л., 1964. (2-е изд.) М.: Индрик, 2001.
Астатиақәа
аурыс бызшәала
- Гомер : [арх. 2 ԥхынҷкәынмза 2022] // Гермафродит — Григорьев. — М. : Большая российская энциклопедия, 2007. — С. 378—379. — (Большая российская энциклопедия : [в 35 т.] / гл. ред. Ю. С. Осипов ; 2004—2017, т. 7). — ISBN 978-5-85270-337-8.
- Гомеровский эпос: миф и ритуал. // Акимова Л. И. Искусство Древней Греции: Геометрика и архаика. — СПб.: Азбука-классика, 2007.
- Мищенко Ф. Г. Гомер // Энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона : в 86 т. (82 т. и 4 доп.). — СПб., 1890—1907.
егьырҭ абызшәақәа рыла
- Реальный словарь классических древностей / под ред. Ф. Любкера. — СПб., 1885. — Ст. «Homerus».
Гомер ихьыӡрашәақәа рбиблиографиа
- Перевод гимнов Ивлин-Уайта (англ.)
- В серии «Collection Budé»: Homere. Hymnes. Texte établi et traduit par J. Humbert. 8e tirage 2003. 354 p.
Аурыс еиҭагақәа:
- ахьыӡрашәақәа хазы-хазы еиҭеигеит С. П. Шестаков.
- Гомеровы гимны. / Пер. В. Вересаева. М.: Недра, 1926. 96 стр.
- переизд.: Античные гимны. М.: Изд-во МГУ. 1988. С. 57-140 и комм.
- Гомеровы гимны. / Пер. и комм. Е. Г. Рабинович. М.: Carte blanche, 1995.
Аҭҵаарақәа:
- Деревицкий А. Н. Гомерические гимны. Анализ памятника в связи с историей его изучения. Харьков, 1889. 176 стр.
Азхьарԥшқәа
- Гомер. Зарубежные писатели. Биобиблиографический словарь
- Афантастика алабораториа
- Поэмы Гомера «Илиада» и «Одиссея» с комментариями, приложениями и иллюстрациями
- Греческие тексты поэм
- Гомер «Одиссея» в переводе Шуйского, с комментариями
- Поэт Гомер: биография и творчество. Поэмы Гомера «Илиада» и «Одиссея». Большая статья на Anews.com Архив ҟаҵан 2020-06-09 азы Wayback Machine аҟны.
- Все статьи с мертвыми внешними ссылками
- Статьи с мертвыми внешними ссылками from August 2026
- Articles with invalid date parameter in template
- Статьи с навсегда мертвыми внешними ссылками
- Гомер
- Ҳ. ҟ. I-тәи азқьышықәсазы ииз
- Ажәытәбырзен поетцәа
- Ажәытә Бырзентәыла апоетцәа
- Ҳ. ҟ. 8-тәи ашәышықәсазтәи апоетцәа
- Абырзенцәа рмифқәа еиҭазҳәоз амифографцәа
- Апоетцәа лашәқәа
- «Анцәатә комедиа» аперсонажқәа
- Зусумҭақәа ҳаамҭанӡа иааз антикатәи ашәҟәыҩҩцәа
- Абырзен анцәақәа
- Ажәабжьҳәаҩцәа
- Амифографиа
- Бырзентәылатәи афантастика ашәҟәыҩҩцәа
- Нцәахәыс иҟаҵаз ахацәа