Гагра араион

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Гагра араион || Гагратәи араион[1] (азыркьаҿра: Гаг. ар-н) — Аҧсны Аҳәынҭқарра араион.

Агеографиа

Гагра араион аҳәаақәа: аҩадаашьхақәа, Аҧсныи Урыстәылеи рҳәаа, Ҧсоу аӡиас. Ажәытә, Жәҩакәареи Бзыҧ аӡи рыбжьара Бзыҧын иаҵанакуан, Жәаҩакәара анаҩс наҟ Ҧсоу аганахь асаӡқәа ирыдыҧхьаӡалан, амҳаџьырра ашьҭахь, аурысқәа, ари адгьыл Урыстәыла иадырҵеит «Пиленковская волость» ҳәа иашьҭан.

Аҭоурых

1904 шықәсазы Гагреи уи акәша-мыкәша иҟоу адгьылқәагь апринц Ольденбургскии дызхылаҧшуаз, Аҧсны «Сухумский округ» ҳәа изышьҭаз иалхны Шәачатәи аокруг иаларҵеит, 1917 шықәсазы уи аҭыҧахь ирхынҳәын. Аҧсны аиҳабыра рыбзоурала Гагреи Ҧсоуи ирыбжьанакыз «Пиленковская волость» иара убас Аҧсны иазырхынҳәын 1929 шықәсазы. Убри ашьҭахь ауп Гагра араион хазы ианышьақәагылагь. Уи иахьа еиднакылоит ақалақь Гагра, ақалақь ҟазшьа змоу аҳаблақәа — Пицундеи, Цандрыҧшьи, иара убас жәеиза қытеи — Алаҳаӡы, Хышәҳа, Бзыҧ, Ҧсахара, Гьачрыҧшь, Лӡаа, Маҳадыр, Мқьалрыҧшь, Ҳашҧсы, Амзара, Арасахәы.

Атерриториа

Атерриториа – 772 км².

Аланхо

Араион иаланхо – 40 217-ҩык. (2011 ш.).

Аиланхарҭақәа

Ақалақь Гагра иаҳҭнықалақьуп.

Ақалақьқәа ҳаблауп:

Абара

Ахьарҧшқәа

  1. В. Е. Кәарҷиа, «Аҧсны атопонимика», Аҟәа 2002