Гагра

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Гагра

Га́гра (ақырҭ. გაგრა) — Аҧсны ақалақь. Ишьҭоуп Гaгрa aҿaцә иҧшәоу aмшын aҟәaрa aҟны, Гaргaтәи aҳрaкырa aлaдaтәи aкaлҭaлa. Гaгрaтәи aрaион aҵaкырaдгьыл 772,4кв. км иҟоуп. Қaрҭ инaркны Гaгрaнӡa 534 км бжьоуп, Аҟәa инaркны Гaгрaнӡa 90 км. бжьоуп.

Агеографиа

Гагра аҳәаақәа: аҩада — ашьхақәа, амрагыларахь — Мамзышьха, ақыҭа Псахара, алада — Амшын Еиқәа, амраҭашәарахь — Жәҩакәара аӡы.

Аҩрақәа рҿы иуҧылоит еиуеиҧшым авариантқәа.

Адемографиа

Ашəҟəынҵара
ашықәс
Ауааҧсыра Ахаҵа Аҧҳәыс
1989[1] 24 061 -- --
2011[2] 12 364 -- --

Атопонимика

1318 шықәсазы иҟаҵоу Петр Весконти ихсаалаҿы «Какара»ҳәа иарбоуп, 1494 шықәсазы Фредучи еиқәыршәаз ахсаалаҿы «Каккары»ҳәа, иара убас иуҧылоит аформақәа «Хокари», «Какур». Гагра иадҳәалоуп ҳәа ирҧхьаӡоит ахьыӡқәа: «Контози», «Баладаг», «Котош», ажәытәыӡатәи «Триглит», «Нитика».

Аҭыҧқәа

Гагра ақалақь иаҵанакуа аҳаблақәа, аҭыҧқәа:

  1. Абааҭа — Жәакәаареи амшыни, Гагрыҧшьы рыбжьара, ажәытә баагьы еиқәханы иҟоуп;
  2. Аӡхыда — аӡгьы, аҭыҧгьы, Гагра амрагыларатәи аҿацә, ҧаса Ҧсахара иатәын;
  3. Аӡыршә || Фонтан — Гагра авокзал аган азаправка ахьыҟоу, ҧаса Ҧсахара иатәын;
  4. Баладаг — уахәаҧш Гагра;
  5. Гагра агәы — Ҩӡы нырцә-аарцә амшын аҧшаҳәа;
  6. Гагрыҧшь — ҳаблоуп, Абааҭеи Гагра агәи рыбжьара;
  7. Какара || Каккари — уахуаҧш Гагра;
  8. Какур — уахәаҧш Гагра;
  9. Контози — уахәаҧш Гагра;
  10. Котош — уахәаҧш Гагра;
  11. Нитика — уахәаҧш Гагра;
  12. Триглит — уахәаҧш Гагра;
  13. Хокари — уахәаҧш Гагра;
  14. Фонтан — уахәаҧш Аӡыршә.

Алитература

  • В. Е. Кәарҷиа, «Аҧсны атопонимика», Аҟәа 2002

Aбара

Ахьарҧшқәа