Перейти к содержанию

Габалиа, Дырмит Павел-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Дырмит Павел-иԥа Габалиа
Дмитрий Павлович Габелия

Дырмит Павел-иԥа Габалиа
Аира жьҭаарамза 14, 1986 ш.
Џьал ақыҭа, Очамчыра араион, Аԥснытәи АССР
Аусура аԥсуа поет

Дырмит Павел-иԥа Габалиа (аур. Дмитрий Павлович Габелия; жьҭаарамза 14, 1986 ш., Аԥсны, Очамчыра араион Џьал ақыҭа) – аԥсуа поет. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (2012). Дыҩуеит аԥсышәала (асахьаркыратә ҩымҭақәеи астатиақәеи) урысшәалеи (астатиақәа).

Акәасқьа ақыҭантәи абжьаратәи ашкол далгеит (2004), ашьҭахь – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет (2009). 2007ш. инаркны рҵаҩыс-ааӡаҩыс аус иуан К. Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат аҟны, иара убас Аԥсны аҿар рхеидкыла «Аҿар раамҭа» ацхантәаҩыс, нас –ахантәаҩыс дыҟан. Ауаажәларра-политикатә хеидкыла «Иаку Аԥсны» агазеҭ «Иаку Аԥсны» акорреспондтс аус иуан (2010), ашьҭахь ари аҭыжьымҭа аредактор хадас инапынҵақәагьы наигӡон. 2012 ш. раахыс – ажурнал «Алашара» апоезиа аҟәша деиҳабуп.

Д. Габелиа раԥхьатәи иажәеинраалақәа кьыԥхьын ажурнал «Алашара» аҟны (2007). Иҩымҭақәа рнылахьеит: агазеҭ «Иаку Аԥсны», ажурнал «Ваинах» (Грозныи ақалақь), аинтернет-журнал «Пролог», Аԥсны апоетцәа ҿарацәа рҩымҭақәа еидызкыло «Ашацкыра» (2009, №1; 2010, №2), Переделкино (Москва, 2011) имҩаԥысуаз ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа Актәи Жәларбжьаратәи реилацәажәара иҭнажьыз аизга «Вестник» рҟны.

Дрылахәын: Адыгатәылан (Маиҟәаԥ, 2009) имҩаԥысуаз Нхыҵ-Кавказ ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа Аҩбатәи реилацәажәара); 22-тәи Жәларбжьаратәи ашәҟәтәы цәыргақәҵа-џьармыкьа (Москва, 2009); Урыстәылеи Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара атәылақәеи рышәҟәыҩҩцәа ҿарацәа 9-тәи Рфорум (Москва, 2009); Нхыҵ-Кавказ ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа Реилацәажәара (Ҟарачы-Черқьестәыла, аҳабла «Домбаи», 2010); Урыстәылеи Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара атәылақәеи рышәҟәыҩҩцәа ҿарацәа 10-тәи Аиубилеитә Форум, 2010); Нхыҵ-кавказ ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа Реилацәажәара (Нхыҵ-Уаԥстәыла, аҳабла «Цеи», 2011); Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟнытә дышьҭын, дагьалахәын Переделкино (Москва, 2011) имҩаԥысуаз ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа Актәи Жәларбжьаратәи Рфорум.

  • аԥсышәала: Сымҩа, Сышьҭа… Ажәеинраалақәа. Аминиатиурақәа. Аҟәа, 2010.
  • Ацәқәырԥамҩа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 2014.
  • аурысшәахь аиҭагақәа: Абхазия. Пицунда – курорт будущего. Сборник публицистических статеи. Сухум, 2010.