Перейти к содержанию

Ван Гог, Винсент

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Винсент Ван Гог» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Ван Гог, Винсент
Vincent van Gogh
Ахатәы хьӡы Vincent Willem Van Gogh
Аира хәажәкырамза 30, 1853 ш.
Зюндерт
Аԥсра ԥхынгәымза 29, 1890 ш.
Овер-сюр-Уаз
Аԥсра зыхҟьаз огнестрельное ранение
Аԥсыжра аҭыԥ Auvers-Sur-Oise Communal Cemeteryи tomb of Vincent and Theo van Gogh
Анхарҭа Monastery of Saint-Paul-de-Mausole (1889 ш.–1890 ш.), Cuesmesи Maison Van Gogh (1879 ш.–1880 ш.)
Амилаҭра голландцы
Атәылауаҩра Нидерландқәа Ркралра
Алма-матер Королевская академия изящных искусств
Азанааҭ художник,
ботанический иллюстратор,
рисовальщик,
художник-гравёр,
архитектурный чертёжник,
мастер офорта,
литограф,
художник-график,
арт-дилер
Аусураҭаҩцәа Goupil & Cie (1869 ш.–1873 ш.)
Арҿиара дуқәа Едоки картофеля
Ночная терраса кафе
Звёздная ночь
Спальня в Арле
Подсолнухи
… еиҳаны аинформациа Авикидыррақәа аҟны
Амеценат Тео ван Гог
Ирнырит Антон Мауве
Питер Пауль Рубенс
Жан-Франсуа Милле
Поль Сезанн
Поль Гоген
… еиҳаны аинформациа Авикидыррақәа аҟны
Ацынхаҩы Клазина Мария Хоорник,
Margot Begemann
Абызшәақәа нидерландский язык,
афранцыз бызшәа
Анаԥынҵамҭа

Винсент Виллем ван Гог, Ван Гог (анид. Vincent Willem van Gogh) — нидерландтәи асахьаҭыхҩы, аҿыханҵаҩ, « аепоха хазына» иреиҳау асахьаҭыхҩцәа ируаӡәку, апостимпрессионисттә еиҿкаара аԥхьагылаҩ ҳәа иԥхьаӡоу (Поль Сезанни Поль Гогени днарываргыланы), зырҿиарала XX-тәи ашәышықәсазтәи аҿыханҵа анырра ду азҭаз.[1]

Жәашықәса инарыцны ирҿиара иабзоураны 2100 усумҭа аԥиҵеит, урҭ рҟынтә 870 раҟара ахәшашәыгала иҭыху асахьақәа роуп. Урҭ рахь иаҵанакуеит апортреҭқәа, автопортреҭқәа, аԥсабарасахьақәа, акипарисқәеи, азеиҭынҵлақәеи зну анатиурмортқәеи, апанноқәеи, иара убас ачарыци, азараҟьеи рмыхурсҭақәа зну. Иԥсы ахьынӡаҭаз иара акритикцәа рылаԥшҳәаа дыҵашәомызт.

Диит Нидерланды аладахьы, Бельгиа аҳәаа азааигәара. Винсент иаб Теодор ван Гог, диит жәабранмза 8, 1822 ш азы, ареформациатә уахәама апастор иакәын, иан Анна Корнелиа Карбентус, Гаагатәи ашәҟәыхҟьаҩы, ашәҟәыҭиҩы иԥҳа лакун. Винсент Теодори Анна Корнелиеи быжьҩык рыхшара рҟынтә аҩбатәи иакәын. Иара иабду, иаб иаб ихьӡ ихҵан, уигьы иԥсҭазаара зегьы апротестанттә уахәама иазикит. Ари ахьӡ Теодори Аннеи раԥхьатәи рхәыҷы изкны ирыман, уи Винсент диаанӡа шықәсык аԥхьа диит, аха ҽнакгьы дзымнеит, иԥсҭазаара далҵит. Убас ала Винсент аҭаацәараҿы ахәыҷқәа зегьы дреиҳабхеит.

Винсент даниы ашьҭахь ԥшьышықәса анҵы, лаҵарамза 1, 1857 ш азы, иашьа Теодорус ван Гог (Тео) диит. Уи идагьы, Винсент диман Кор захьӡыз аиашьа(Корнелис Винсент, лаҵарамза 17, 1867) хҩык аиҳәшьцәа - Анна Корнелиа (жәабранмза 17, 1855), Лиз (Елизабет Губерта, лаҵарамза 16, 1859), Вил (Виллемина Иакоба, хәажәкырамза 16, 1862). Винсент зҟазшьа уадаҩыз, ихамаԥагьаз, игәыԥҵәагаз хәыҷын, уи азы иҭаацәара лассы-лассы иқәнагаз дақәдыршәон. Игувернантка лажәақәа рыла, егьырҭ дрылызкаауаз ҷыдарак илан, ахәыҷқәа зегь рахьтә Винсент лгәы изҭамызт, насгьы лара уи иаԥсоу ак илҵып ҳәа дыҟамызт. Иҭаацәара рҿы даныҟамыз Винсент иҟазшьа ҭынчын, дынкахәыцуа дыҟан, шамахамзар егьырҭ ахәыҷқәа дрыцыхәмаруамызт. Иқыҭауаа рзы згәы еизадаз, аҟазшьа бзиа змаз, арыцҳашьара злаз, иԥхашьа-ԥхаҵо иҟаз, ахӡырымгара злаз хәыҷы хаак иакәны дыҟан. Быжь-шықәса анихыҵуаз иара ақыҭа школ дҭалеит, аха шықәсык ашьҭахь уи дҭыргеит, иаҳәшьа Аннеи иареи аҩны аҵара ддырҵеит, агувернантка дрыман. Жьҭаарамза 1, 1864 ш азы Зевенберген ақалақь аҿы иҟаз ашкол-интернат ахь ддәықәырҵеит. Винсент уахь ицара агәырҩа рацәа изаанагеит; дандухагьы уи атәы ихашҭуамызт. Цәыббрамза 15, 1866 азы Тильбург ақалақь аҿы иҟоу Виллем аҩбатәи иколлеџь аҿы аҵара далагеит. Винсент абызшәақәа бзианы ицааиуан — афранцыз, англыз, анемец бызшәақәа. Иара убас уаҟа асахьаҭыхра идырҵон. Хәажәкыра мза, 1868 шықәсазы, аҵарашықәс абжара инеигахьан еиԥш, Винсент иаалырҟьан ашкол аанрыжьны аҩныҟа дхынҳәуеит. Убри алагьы аҷкәын иформалтә ҵара хыркәшахоит. Ихәыҷра ашықәсқәа абас игәалаиршәон: Схәыҷра аамҭа лашьцан, ихьшәашәан, иҭацәын....

Ахәаахәҭратә еилахәыраҿы иусура, имиссионертә ус

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Винсент ван Гог 18 шықәса анихыҵуаз (1871-1872)[2]

1869 шықәса, ԥхынгәымзазы асахьаҭыхра- ахәаахәҭратә еилахәыра Goupil & Cie гаагатәи аҟәша аҟны аусура далагоит, уи иаб иашьа Винсент («Иаб иашьа Сент») ихатәын. Уаҟа иара аҭиҩы ихәҭаз аҵара иоуит. Раԥхьаӡа, иҟазахаран иҟаз Винсент иусура гәацԥыҳәара дула напы аиркит, алҵшәа бзиақәа ааирԥшит, 1873 ш, рашәарамзазы Goupil & Cie Лондонтәи аҟәшахьы диаргеит. Аҟазара аусумҭақәа есыҽны иахьибоз иабзоураны иара асахьаҭыхра атәы еиликаауа, пату ақәиҵо далагеит. Уи адагьы ақалақь амузеиқәеи агалереиақәеи дырҭаауан, Жан-Франсуа Миллеи Жиуль Бретони русумҭақәа дрыхәаԥшуан. Нанҳәамза анҵәамҭазы Винсент Урсула Лоиери лыԥҳа Евгениеи рыҩны аҟны ауада қьырала иганы, уахь нхара диасит. Евгениа бзиа дибон ҳәа агәаанагара ыҟоуп, амала раԥхьатәи аамҭазы инысымҩа зыҩуаз аӡәырҩы агха рыхьуан, Евгениа лан лыхьӡ Урсула ҳәа лыхьӡҵаны иадырбон. Жәашықәсақәа рыҩныҵҟа иҟаз аилагарақәа инарыцҵаны, аҵыхәтәантәи аҭҵаарақәа Винсент Евгениа лакәымкәа, Каролина Ҳаанебик зыхьӡыз анемка бзиа дибон ҳәа азгәарҭоит. Иҟаҵәҟьаз иахьагьы еилкаам. Бзиа иибоз аҭыԥҳа мап ахьицәылкыз исахьаҭыхыҩхараны иҟаз арԥыс даара игәнигеит, игәы канажьит; хәыҷы-хәыҷла иус ахь имаз аинтерес ицәыӡит, Аԥшьашәҟәы дазхьаԥшуа далагеит. 1874 ш азы Винсент афирма Парижтәи аҟәшахьы диаргеит, аха хымзтәи иусура ашьҭахь еиҭа Лондонҟа дцеит. Иусқәа еиҳа- еиҳа еицәахо ицон, 1875 ш. лаҵарамзазы иара ҩаԥхьа Парижҟа диаргеит, уаҟа Салони Луври рҿы имҩаԥысуаз ацәыргақәҵақәа дырҭаауан, аҵыхәтәаны асахьаҭыхраҿы ихы ԥишәо далагеит. Хәыҷы-хәыҷла уи аус иаамҭа рацәаны имнахуа иалагеит, Винсент иусура зынӡа игәы ахшәеит, «аҟазара- асахьақәа зҭиуа ауаа иреицәоу аӷацәа амаӡам» ҳәа азыӡбаны. Аҵыхәтәаны, 1876 шықәса хәажәкырамза анҵәамҭазы, афирма Goupil & Cie аҟны иусура дамырхит, иуацәа, аилахәыра аԥшәмацәа рыдгылара шимазгьы.

1876 ш ​​азы Винсент Англиаҟа дхынҳәит, уаҟа Ремсгеите аинтернат аҿы рҵаҩыс аусура далагоит, аха ауалафахәы изыршәаӡомызт. Убри аамҭазы, иаб иеиԥш, папыс дҟаларц азы агәаҳәара изцәырҵит. Ԥхынгәымзазы Винсент даҽа школк ахь диасит - Аизлворт (Лондон азааигәара), уаҟа рҵаҩыс, иара убас апастор ицхырааҩыс аус иуан. абҵарамза 4 рзы Винсент раԥхьатәи абжьагажәа иҳәеит. Аевангелие ахь имаз аинтерес иацлон, арыцҳацәа абжьагажәа рзеиҭаҳәаразы агәаҳәара иоуа иалагеит.

Винсент Қьырса аныҳәазы иҩныҟа дцеит, иани иаби Англиаҟа дыхнымҳәырц азы иабжьо иалагеит. Винсент Нидерланды даанхеит, насгьы Дордрехт ақалақь ашәҟәыҭирҭаҿы шықәсыбжак аус иуан. Ари аус иара игәаԥхомызт; иаамҭа аиҳарак Аԥшьашәҟәы ацыԥҵәахақәа анемец, англыз, афранцыз бызшәақәа рахь еиҭеигон, ма дҭыхуан. Винсент пасторс иҟаларазы имаз агәазыҳәарақәа ирыдгылаз иҭаацәа, лаҵарамза 1877 азы Амстердамҟа ддәықәырҵоит, уаҟа иаб иашьа адмирал Иан ван Гог иҿы нхара далагеит. Араҟа иара гәацԥыҳәарала иҽазыҟаиҵон, иаб иашьа пату зқәырҵоз, еицырдыруаз атеолог Иоганесс Стрикер инапхгарала, ауниверситет атеологиа аҟәшахьы аҭаларазы аԥышәарақәа рыҭира иҽазыҟаиҵон. Аҵыхәтәаны иҵара игәы ахшәан, иаанижьит. Ԥхынгәымза 1878 азы Амстердамынтә дцеит. Ауаа дрыхәарц азы имаз агәаҳәара Бриуссель азааигәара Лакене иҟаз апастор Бокма ишкол ахь днанагеит. Уаҟа абжьагажәақәа рҳәаразы хымзтәи акурсқәа дырхысит.(Аха агәаанагара ыҟоуп урҭ дрылымгаӡеит ҳәа. Иҟазшьа бааԥси, агәам ихьыссы дахьныҟәози ирхырҟьаны дҭырцеит ҳәа)

Ԥхынҷкәынмза 1878ш. азы, Винсент Боринаж иаҵанакуаз Патиураж ақыҭахь шықәсыбжак миссионерс дцеит, Бельгиа аҩадахьы иҟоу ашахтиорцәа рраион ахь, уаҟа иара аус ӷәӷәа нап аиркит: ачымазаҩцәа дырҭаауан, аҵара змамыз Аԥшьашәҟәы дырзаԥхьон, ахәыҷқәа аҵара дирҵон, уахынла аԥарарҳаразы Палестина ахсаалақәа ҭихуан. Ари аҩыза ахымҩаԥгашьазы аҭыԥантәи ауааԥсыреи Аевангелиетә Еилазаара алахәылацәеи даара ргәы дақәшәеит, убри аҟынтә ҩынҩажәижәаба франк ауалафахәы ирҭо иалагеит. Шықәсыбжактәи аҵара данахыслак ашьҭахь, ван Гог иҵара ацҵаразы Аевангелиетә школ дҭаларц игәы иҭеикхьан, аха иҵара иахыршәааз аԥара дискриминациоуп ҳәа азыԥхьаӡаны, аҵара мап ацәикит. Убри аан, Винсент ашахтақәа реиҳабацәа рахь аусзуҩцәа рыхьӡала, урҭ русуратә ҭагылазаашьақәа реиӷьтәразы ааԥхьара ҟаиҵеит. Ашәҟәы мап ацәыркит, насгьы ван Гог ихаҭа Бельгиатәи апротестанттә уахәама асинодтә еилахәыра аӡбарала абжьагажәаҳәаҩ имаҵзура дамырхит. Ари ахҭыс иара даара хьаас иҟаиҵеит.

Сахьаҭыхҩны иҟалара.

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Патиураж иҟалаз ахҭысқәа ирыхҟьаны иоуз адепрессиеи агәкаҳареи иҽырцәихьчарц азы, Ван Гог ҩаԥхьа аҿыханҵара иҽазикырц иҭаххеит, аҵара дазхәыцуа далагеит, 1880ш азы иашьа Тео ицхыраарала Бриуссельҟа дцеит, уаҟа илыԥшааху аҟазара Академиаҿы аҵара далагеит. Аха шықәсык ашьҭахь Винсент иҵара ааныжьны иани иаби рахь дхынҳәит. Иԥсҭазаара ари апериод азы, асахьаҭыхҩы абаҩхатәра иламзаргьы ҟалоит, ихадоу аџьабаа ду абара, ахы аус адулара ауп ҳәа ԥхьаӡаны, ихала ихы аус адиулон.

Уи аамҭазы ван Гог ацәанырра ҿыц изцәырҵит, икузина, аԥҳәыс еиба Кее Вос-Стрикер бзиа дибеит, лара лԥа длыманы рыҩны сасра дыҟан. Аԥҳәыс ицәаныррақәа мап рцәылкит, аха Винсент леиҽырбара даҟәыҵуамызт, уи азы иуацәа зегьы иҿагыло иалагеит. Аҵыхәтәаны дцарц иҳәеит. Ван Гог, ҩаԥхьа игәы каҳаит, ихатә ԥсҭазаара аиҿкааразы аҽазышәарақәа наӡаӡа мап рцәикырц ӡбаны, Гаагаҟа дцеит, уаҟа асахьаҭыхра далагеит, иҭынхак иҿы иҽазыҟаиҵон- Гаагатәи асахьаҭыхратә школ ахаҭарнак Антон Мауве. Винсент аус рацәаны иуан, ақалақь аԥсҭазаара дацклаԥшуан, еиҳарак ауаа ӷарқәа ахьынхоз аҭыԥқәа. Аԥштәқәа рыла аԥышәарақәа мҩаԥигон, ақәатәаҿы еиуеиԥшым атехникақәа еилаиҵон — аҟәа, акалам, асепиа, аӡшәыга (“Ашьҭахьтәи агәараҭақәа”, 1882, акалам, аҟәа, ақьаад ашәыгахьшьыга, Криоллер-Миуллер имузеи, Оттерло; « Ахыбрақәа. Ван Гог иҟазарҭа аҟынтә асахьа» 1882 ш. Париж Ж. Ренан ихатәы коллекциа). Аҟаза анырра ду инаҭеит Шарль Барга ицхыраагӡа “Асахьа аҭыхразы акурс” захьӡыз. Иара ацхыраагӡа алитографиақәа зегьы 1880/1881 шықәсқәа рзы ирықәҭихуан, 1890 шықәсқәазы уи ахәҭак мацара.

Гаага данынхоз асахьаҭыхҩы аҭаацәара аԥҵара иҽазишәеит. Уи далихит зцәазтәымкәа иҟаз акаҳԥы Клазина Мариа Хорник. Винсенти лареи амҩаду аҿы еиқәшәеит, лҭагылазаашьа аниба дрыцҳаишьан, лыԥҳа длыманы иара иахь нхара ииасыртә лабжьигеит(хара имгакәа лара аԥа длоуит). Ари ахҭыс еимакны аҟазеи иҩызцәеи иҭынхацәеи ӷәӷәала иеисит, аха Винсент ихаҭа насыԥ иман: амодель диоуит. Аха Клазина Мариа лҟазшьа хьанҭахеит, хара имгакәа ван Гог иҭаацәаратә ԥсҭазаара каамеҭхеит. Иаарласны дара еиԥырҵит. Асахьаҭыхҩы уаҳа Гаага даангылар иҭахымхеит, нас Нидерландқәа рыҩадахьы, Дренте апровинциахь дцеит, уаҟа иара қьалак дыҩналеит, аҟазарҭа еиԥш иҟаҵаны, апеизажқәа ҭыхуа имшқәа зегьы аԥсабараҿ ихигон. Аха пеизажистс ихы иԥхьаӡомызт аҟынтә, урҭ рацәак дрызҿлымҳамызт, - ари апериод аан иҭыху асахьақәа жәпакы анхацәа ирызкуп, урҭ есыҽнытәи русуреи рыбзазашьеи.

Ван Гог заатәи иусумҭақәа ареализм иаҵанакуеит, аха урҭ рынагӡашьеи атехникеи ареализм ахыԥхьаӡалара даара иуадаҩуп. Асахьаҭыхҩы исахьаҭыхратә ҵара ахьмаҷыз иахҟьаны дзықәшәоз апроблемақәа иреиуан ауаҩытәыҩса ифигура аарԥшра ахьилымшоз. Убри иахҟьаны иара ирҿиараҿы ихатә ҷыдара ааирԥшуа далагеит-, ауаҩы ифигура еихатыруа, аԥсабара иахәҭакны, зны-зынла акалагьы уи иеиԥшны иааирԥшуа далагеит. Уи даара еилыкка иубарҭоуп исахьаҭыхымҭа «Адгьылҵәа еиҭазҳауа анхаҩи анхаҩԥҳәыси» аҟны (1885, Кунстхауз, Циурих), уаҟа ақыҭанхацәа рфигурақәа ахрақәа иреиԥшуп, насгьы рхы аҩахараҵәҟьа рылымшо, алаԥшҳәаа ацәаҳәа ҳарак рықәыӷәӷәошәа иҟоуп. Атема абри аҩыза азнеишьа убарҭоуп еиҳа ихьшәаны иҭыхыз асахьа «Аӡахәаҭара ҟаԥшьқәа» аҟны (1888, Пушкин ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә ҿыханҵатә ҟазара амузеи, Москва). 1880-тәи ашықәсқәа асахьақәеи аетиудқәеи рсериа аҟны. (“Нуенентәи апротестанттә уахәама адәылҵра” (1884-1885), “Анхаҩԥҳәыс” (1885, Криоллер-Миуллер имузеи, Оттерло), “Адгьылҵәа афаҩцәа” (1885, Винсент ван Гог имузеи, Амстердам), “Ниуенентәи ажәытәтәи ауахәама абааш ” (1885). Исахьаркыратәу агамма еиқәа ала иҭыху, ауаҩы игәаҟрақәеи игәкаҳареи зныԥшуа, асахьаҭыхҩы ипсихологиатә ҭынчымра узырбо, еибархханы иҟоу атмосфера ааирԥшит. Иара убри аамҭазы асахьаҭыхҩы апеизаж ахь ихатәы азнеишьа иԥшааит. Аԥсабара ҩныҵҟала ишидикыло ауаҩы иҿырԥшны аҭыхра далагеит. Иара ихаҭа иажәақәа исахьаҭыхратә кредо акәны иҟалеит: «Аҵла анҭухуа афигура еиԥш уазнеила»

1885 шықәсазы ван Гог Дренте аанижьит, аҭыԥантәи апастор игәаӷ ахьикыз азы. Апастор асахьаҭыхҩы изы модельс анхацәа ҟалар имуа далагеит, аҟаза ихымҩаԥгашьа ҽеим ҳәа ахьӡ ихиҵеит. Винсент Антверпенҟа дцеит, уаҟа ҩаԥхьа асахьаҭыхразы аҽазыҟаҵарақәа дрылагеит - Аҟазаратә Академиа асахьаҭыхратә класс аҿы. Хәылбыҽхала ахатэы школ ахь дныҟәон, уаҟа зцәа хтыз амодельқәа рсахьа ҭихуан. Аха жәабранмза 1886 шықәсазы Антверпен аанрыжьны Парижҟа, иашьа Тео иахь дцеит, уаҟа уи асахьаҭыхымҭақәа иҭиуан.

Винсент иԥсҭазаараҿы ихацыркхеит Парижтәи аамҭа, иара асахьаҭыхыҩ изы даара ихырҳагаз, хҭысла ибеиаз аамҭаны иҟалеит. Аҟаза Европа зегьы еицырдыруаз арҵаҩы Фернан Кормон ихатә ҟазарҭа даҭаауа далагеит, аимпрессионизмтәи асахьаҭыхра ҭиҵаауан, иапониатәи агравиура, Поль Гоген исинтетикатә усумҭақәа. Ари апериод аҩнуҵҟа ван Гог исахьақәа рыԥшшәыеилазаара лашахеит, анышә аԥшшәқәа дрыцәхьаҵит, жәҩангәыԥшшәыла цқьа, ахьтәы-аҩежь, аҟаԥшь аԥшәқәа ааирԥшуа далагеит, иара иусумҭақәа ишрызҷыдаз еиԥш адинамика зныԥшуа ахьшьқәа ҟаиҵон (“Агостина Сегатори Тамбуринтәи акаҳуажәырҭаҿы” (1887-1888шш, Амстердам, ван Гог имузеи), « Сена ихыу ацҳа» (1887, Винсент ван Гог имузеи, Амстердам), “Папаша Танги” (1887, Роден имузеи, Париж), “Лепик имҩаду аҿы иҟоу Тео иуада аҟынтәи Париж асахьа” (1887, Винсент ван Гог имузеи, Амстердам).

Иапонтәи аҿыханҵеи аксилографиеи (амҿтәы гравиура), аԥшшәыеилазаара ада, аҟаза ирҿиараҿы ҿырԥшыгас иҟаиҵо далагеит, уи иабзоураны иусумҭақәа егьырҭ аимпрессионистцәа рыҟны еиԥш, аҭынчреи аҭышәынтәалареи релементқәа рныԥшуа иалагеит. Асахьаҭыхҩы урҭ рҟынтәи џьоукы - Анри де Тулуз-Лотреком, Камиль Писсарро, Едгар Дега, Поль Гоген, Емиль Бернар — иашьа иабзоурала драбадырит, Париж даннеи ашьҭахь хара имгакәа. Абарҭ аибадыррақәа аҟаза изы зегь реиҳа ихәарҭоу анырра ҟарҵеит: иара иҟазара пату ақәызҵоз, доуҳала изааигәаз ауаа иԥшааит, аимпрессионистцәа рцәыргақәҵақәа гәацԥыҳәарыла ихы рылаирхәуа далагеит, урҭ мҩаԥысуан ақьафурҭа « Ла Фурш», акаҳуажәырҭа «Тамбурин», анаҩс «Ихьыԥшым атеатр» афоие рыҟны. Аха Ван Гог исахьақәа ауаа ргәы ҭырҟьеит, убри аҟнытә иара ҩаԥхьа ихы аус адиуло далагеит — Ежен Делакруа иԥшшәқәа ртеориа аҭҵаара, Адольф Монтичелли иҿыханҵа, иапониатәи ԥшшәы рацәала иҩычоу агравиурақәа, иааизакны иҟьаҟьоу мрагыларатәи аҟазара ҳәа изышьҭоу. Аҟаза иаԥҵамҭақәа раӷьырак Парижтәи аамҭа иаҵанакуеит — ҩышәи ҩажәи жәаба инарзынаԥшуа. Урҭ ирылукаауеит еиуеиԥшым анатиурмортқәеи ахатәы портреҭқәеи, «Абашмакқәа» ҳәа азеиԥш хьӡы змоу асериа (1887ш, Аҟазаратә музеи, Балтимор), апеизажқәа. Ван Гог исахьақәа рҿы ауаҩы ироль аҽаԥсахуеит — уи ма зынӡа дыҟаӡам, мамзаргьы иара дыстаффажуп. Иусумҭақәа рҿы аҳауеи, атмосфереи, аԥшшәы беиеи цәырҵуеит, аха аҟаза иара ихатәала иааирԥшуеит атмосфератә ниуансқәа, аформақәа еиламҵакәа, аелементқәа рхаҿқәеи, рфигурақәеи алкааны. Абас еиԥш иҟоу азнеишьа иаҿырԥштәны иҟоуп асахьа «Сент-Марие амшын» (1888, Пушкин ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә ҟазаратә музеи, Москва). Асахьаҭыхҩы иҟазаратә ԥшаарақәа асахьаҭыхра астиль ҿыц ахь днаргеит — апостимпрессионизм ахь.[3]

Аҵыхәтәантәи ишықәсқәа. Ирҿиара ашәҭымҭа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Ван Гог иҟазара шеихеиҳауазгьы, ауааԥсыра исахьақәа рыдыркыломызт, иаархәомызт. Винсент уи даара игәнигон. 1888 ш. жәабранмза аҽеиҩшамҭаз, аҟаза Париж ааныжьны Франциа аҩадахьы, Арльҟа нхара диасырц иӡбеит - уаҟа иара игәы иҭеикит "Аҩадатәи аҟазарҭа" аиҿкаара - еиҵагыло абиԥарақәа рзы ирҿио, здунеихәаԥшышьақәа еиқәшәо асахьаҭыхҩцәа рхеилак. Ван Гог ԥхьаҟатәи русураҿы зегь реиҳа ихадоу ароль Пол Гоген ииҭеит. Тео уи аус ԥарала дадгылеит, иара убри ашықәс азы Винсент Арльҟа нхара диасит. Уаҟа иара иҟазаратә стильи исахьаҭыхратә программеи рҷыдарақәа аҵыхәтәанынӡа иааԥшит: «Сыблақәа ирбо ишыҟаҵәҟьо аарԥшра аҭыԥан, аԥшшәы еиҳа ахы иақәиҭны схы иасырхәоит, еиҳа еиӷьны схы аарԥшразы». Уи апрограмма иалҵшәахеит «импрессионисттәым» атехника аԥҵара аҽазышәара. Уи адагьы, Винсент аҭыԥантәи аԥсабара аҵакы еиҳа инарҵауланы аарԥшразы асахьеи аԥшшәи рсинтез аҟаҵара далагеит.

Ван Гог аимпрессионисттә сахьаҭыхратә методқәа рыцәхьаҵра шиҭаххазгьы, ари астиль иусумҭақәа ӷәӷәала ишанырруаз убарҭан, ҷыдала алашара аарԥшраҿы (« Ашәҭра иаҿу атамаҵла», 1888, Криоллер-Миуллер имузеи, Оттерло) мамзаргьы аԥштәы рацәа ахархәараҿы ( « Арль иҟоу Англуа ацҳа». 1888, Вальраф-Рихарц Киольн имузеи).Уи аамҭазы, аимпрессионистцәа реиԥш, Ван Гоггьы еиԥшу асахьа аазырԥшуа аусумҭақәа рсериа аԥиҵеит, аха алашара аеффектқәа ишыҟаҵәҟьоу иаамырԥшӡакәа, аԥсабара аԥсҭазаара инҭкааны аарԥшра иҽазишәеит. Урҭ рнаҩсангьы, ари апериод иалагӡаны аҟаза асахьаркыратә форма ҿыц ззииԥшааз.апортреҭқәа жәпакы ҭихит.

Асахьаҭыхҩы амцабз еиԥшыз иҟазаратә темперамент, агармониа иҽазышәара, аԥшӡареи анасыԥи рахь имаз игәазыҳәара, урҭ инарываргыланы ауаҩы иҿагылаз амчқәа рыцәшәара уҳәа, абарҭ ацәаныррақәа зегьы рныԥшит аладатәи амра аԥштәқәа рыла илашо ипеизажқәа (« Иҩежьу аҩны» (1888), « Гоген икресло» (1888). « Ачархра. Ла- Кро арха» (1888, Винсент ван Гог имузеи, Амстердам), ма ԥхыӡ бааԥсык угәалазыршәо асахьақәа рҿы («Акаҳуажәырҭа атерраса уахынла» (1888, Криоллер-Миуллер имузеи, Оттерло); (1888, (« Арль иҟоу ақәаҵа ҟаԥшьқәа»(Пушкин ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә ҟазаратә музеи, Москва)), иара убасгьы зыԥсы ҭам амаҭәарқәа (“Арль иҟоу ван Гог ишьҭаларҭа ” (1888, Винсент ван Гог имузеи, Амстердам). Аҟаза исахьақәа рколориттә еилазаара еиҳа еибархханы, адинамика аманы иҟалоит (“ Алаҵаҩ», 1888 Биурле ифонд. Циурих). («Уахынлатәи акаҳуажәырҭа”, 1888, Иельтәи ауниверситет Аҟазаратә Галереиа, Ньиу-Хеивен; “ Арль иҟоу ван Гог ишьҭаларҭа ” (1888, Винсент ван Гог имузеи), Амстердам).

Зыԥсҭазаара зегьы Арль инхоз Жанна Кальман лажәақәа рыла, 13 шықәса анылхыҵуаз лаб идәқьан аҿы дылбеит ван Гог. Асахьаҭыхҩы «дҟьашьны, иҽеимкәа деилаҳәазшәа, цәгьашақә дыҟазшәа» лнарбеит. Даҽа интервиук аҿы лара илҳәеит, имаҵ шылымуз, избанзар «иара узҵымӡаауа агәнаҳа иеиԥш дҿаасҭан, иҟазшьа бааԥсын, насгьы арыжәтә афҩы ихышәшәон» ҳәа.[4][5]

жьҭаарамза 25, 1888 шықәса рзы Поль Гоген Арльҟа нхара диасит, аҿыханҵа «Аҩадатәи аҟазарҭа» аиҿкаара аидеиа алацәажәаразы. Аха, ҭынч изымеицәажәеит, аимакқәеи аисрақәеи рахь ииасит: Гоген ван Гог ҭакԥхықәрада аус дазнеиуеит ҳәа азиԥхьаӡеит, ван Гог иакәзар Гоген иаку аҿыханҵа аидеиа шԥаизеилымкааи ҳәа иџьеишьон. Аҵыхәтәаны, Арль ҭынч аусура згәы иҭаз Гоген, уи анизымыԥшаа, дықәҵны дцарц иӡбеит. Ԥхынҷкәынмза 23 ахәылбыҽха, иҩызеи иареи ҩаԥхьа ианеис ашьҭахь, ван Гог иҩыза адалақь кны дизыҵҟьеит. Гоген машәыршәа ауп Винсент дышникылаз. Ари аимак-аиҿак иазку аҵабырг иахьанӡагьы инҭкааны еилкаам, Гоген дышижәлаз аҭагылазаашьақәагьы убрахь иналаҵаны(ахәҭакахьала, ван Гог Гоген дшыцәаз ауп дышиқәлаз ҳәа аверсиа ыҟоуп, аҵыхәтәантәи ианаамҭаз дахьҿыхаз ауп аԥсра дацәызыхьчаз ҳәа), уи аухаҵәҟьа ван Гог илымҳаҟатара ԥиҟеит.[6][7] Зегьы ирыдыркыло аверсиа инақәыршәаны, ван Гог иҩыза изиуыз ацәгьара дахьахьхәыз азы иҟаҵеит; иара убас, аҵарауаа џьоукы ван Гог ихымҩаԥгашьа дахьымхәӡеит, абсент лассы-лассы иахьижәуаз азы, ихы ахьеилаԥсаз ауп иҟаиҵаз зыхҟьаз ҳәа рыԥхьаӡоит. Уи ауха Гоген ихаҭа ван Гог дихәит, иара адалақь кны данизыҵҟьа- ҳәа даҽа версиакгьы ыҟоуп. Гоген аҳәеилышьра дазҟазан, арапирала ван Гог иарӷьа лымҳаҟатара ҿахиҵәан, иабџьар аӡиас иалеижьит ҳәа.[8][9][10] Адырҩаҽны, ԥхынҷкәынмза 24 рзы, Винсент апсихиатриатә хәышәтәырҭахь дыргеит, уаҟа ичымазара даҽазныкгьы ӷәӷәала ахы цәырнагеит, уи иахҟьаны аҳақьымцәа зхы зызнымкыло ахеилагацәа рпалатахь диаргеит. Тео иҟалаз атәы иаҳәаны, Гоген ахәшәтәырҭаҿы ишьҭаз ван Гог дымбаӡакәа, ирласны Арль аанижьит.

Аремиссиа аамҭақәа раан, Винсент иҟазарҭахь доурыжьларц аҳәара ҟаиҵон, уаҟа иусура иациҵарц азы, аха Арль ауааԥсыра ақалақь ахада иахь ашәҟәы рҩит, ауааԥсыра зхы еиқәшәам аҟаза ицәырыхьчарц азы. Ван Гог Арль азааигәара иҟаз, Сен- Реми-де-Прованс игылаз зыпсихьика еилагоу ауаа рхәышәтәырҭа Сен- Поль дышьҭаларц идыргалеит, уахь Винсент лаҵарамза 3, 1889 шықәсазы дцеит. Уаҟа иара шықәсык дыҟан, ааԥсарак ҟамҵаӡакәа асахьа ҿыцқәа рҭыхра даҿын. Уи аамҭа иалагӡаны иара иаԥиҵеит шәи ҩынҩажәи жәаба инареиҳаны асахьаҭыхымҭақәеи, шәкы инарзынаԥшуа асахьаҭыхымҭақәеи акварельқәеи. Усҟантәи аамҭазы еиҳарак иҭихуаз анатиурмортқәеи апеизажқәеи ракәын, урҭ еиԥшымзаарас ирымаз анервтә ҭынчымреи адинамизми ракәын. (« Еҵәала иҩычоу аҵх», 1889, еиҿагыло аԥштәқәа рхархәара, зны-зынла, атонбжақәа рхархәара («Азеиҭынҵлақәа рпеизаж» 1889 Џь. Г. Уитни еизгамҭа, Ниу-Иорк; « Акипарисқәа зықәгылоу ачарыц дәы». 1889. Метрополитен амузеи. Ниу- Иорк.

1889 шықәса анҵәамҭазы иара ааԥхьара ирҭеит «Ҩажәаҩык ргәыԥ» захьӡыз Бриуссельтәи ацәыргақәҵахь, уаҟа иаразнак аҟаза иусумҭақәа рахь иколлегацэеи аҟазара абзиабаҩцәеи азҿлымҳара рызцәырҵит. Аха уажәшьҭа уи ван Гог дамыргәырӷьеит, дшамеигәырӷьаз еиԥш исахьа «Арль иҟоу аӡахәаҭра ҟаԥшьқәа» иазкны, 1890 шықәса, ажьырныҳәамзазы иҭыҵыз ажурнал «Меркиур де Франс» ианылаз Альберт Орие ииҩыз, аҟаза дахьирҽхәоз астатиагьы..[11]

1890 шықәса ааԥынразы, аҟаза Париж азааигәара иҟаз Овер-сиур-Уаз захьӡыз аҭыԥахь нхара диасит, уаҟа ауп ҩышықәса ирылагӡаны раԥхьаӡа акәны иашьеи иҭаацәеи анибаз. Асахьаҭыхҩы ирҿиара даҿын, аха аҵыхәтәантәи иҭыхымҭақәа рстиль зынӡа аҽаԥсахит, иаҳагьы угәы казыжьуа ракәны иҟалеит. Иусумҭаҿы аҭыԥ хада ааныркыло иалагеит, еиуеиԥшым амаҭәарқәа дырӷәӷәошәа икьынаау аконтурқәа («Акипарис ҵлақәа ахьгылоу ақыҭа мҩа», 1890, Криоллер-Миуллер имузеи, Оттерло; «Овер иҟоу амҩеи амардуани», 1890, Сент- Луис Ақалақь аҟазара амузеи; « Овертәи апеизаж ақәоура ашьҭахь», 1890ш, А. С. Пушкин ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аҿыханҵатә музеи, Москва). Винсент ихатә ԥсҭазаараҿы аҵыхәтәантәи хҭыс лашаны иҟалеит асахьаҭыхра бзиа избоз аҳақьым Поль Гашеи иареи реибадырра.

"Ван Гог аԥсра данаҿыз." Поль Гаше иҭыхымҭа

ԥхынгәымза 1890 шықәсазы ван Гог еицырдыруа исахьа ҭихит “ ачарыц дәи аҟәараанқәеи ” (Ван Гог имузеи, Амстердам). Ԥхынгәымза 27 рзы, ван Гог асахьаҭыхразы аматериалқәа иманы ныҟәара ҳәа дахьындәылҵыз, ареволвер ала игәы деихсуеит (даҽа версиак ала- ашәақь ала) аха ахы игәы акәымкәа, иныҵакны иаахеит. Уи иабзоураны иара ихала дахьынхоз асасааирҭа ауада аҟынӡа днеит. Асасааирҭа зтәыз аҳақьым диԥхьеит, уи ахәра гәеиҭеит, Теогьы адырра ииҭеит, иашьа адырҩаҽныҵәҟьа дааит, Винсент иԥсҭазаара далҵаанӡа ихала даанимыжьит, аҟаза ихы данеихс 29 сааҭ рышьҭахь ашьа рацәаны иахьицәцаз аҟынтә (1:30 сааҭ рзы, ԥхынгәымза 29, 1890ш) идунеи иԥсахит.[12] 2011ш, жьҭаарамзазы, аҟаза иԥсра иадҳәалоу альтернативтә версиа цәырҵит: америкатәи аҟазара аҭоурыхҭҵааҩцәа Стивен Наифехи Грегори Уаит Смити иҟарҵаз агәаанагара ала, ван Гог иааиԥмырҟьаӡакәа арыжәтә ицызжәуаз аҷкәын хбыџқәа руаӡәык дишьит ҳәа.[13]

Тео излаиҳәо ала, аҟаза аҵыхәтәантәи иажәақәа ракәын: La tristesse durera toujours ("Алахьеиқәра наӡаӡа иҟазаауеит"). Винсент ван Гог анышә дамардеит Овер-сиур-Уаз ԥхынгәы мза 30 рзы. Асахьаҭыхҩы аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит иашьеи иҩызцәа ԥыҭҩыки. Аԥсыжра ашьҭахь, Тео Винсент иусумҭақәа рцәыргақәҵа аиҿкаара далагеит, аха анерв чымазара ихьын, шықәсыбжак ашьҭахь, ажьырныҳәамза 25, 1891шықәсазы, Голландиа дыԥсит. 23 шықәса рышьҭахь, 1914 рзы, иԥшәма ԥҳәыс иԥсыбаҩ ааганы Винсент иԥсыжырҭа иавалжит.[14][15][16]

Исахьаҭыхымҭақәа ҳаҭыр рықәҵареи рыҭиреи

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Тарасконҟа амҩа иану асахьаҭыхҩы, нанҳәамза 1888ш, Винсент ван Гог Монмажур азааигәара амҩаҿы, ақәатәа, ахәшашәыга, 48 x 44 см, Магдебургтәи ԥасатәи амузеи; Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьраан асахьа амцабз иалаблит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.

Еицырдыруа ииашам гәаанагароуп ван Гог иԥсы ахьынӡаҭаз иҭихыз сахьа заҵәык ауп ирҭииз ҳәа, «Арль иҟоу аӡахәаҭра ҟаԥшьқәа». Ари асахьа раԥхьаӡа акәны аԥара ду зыхҭнырхыз акәхеит (1889 шықәса анҵәамҭазы Бриуссельтәи ацәыргақәҵаҿы; асахьа ахә 400 франк артәеит). 1882 шықәса инаркны иԥсы ахьынӡаҭаз ирҭииз аҟаза иусумҭақәа 14 ртәы зҳәо адокументқәа аанханы иҟоуп (уи атәы Винсент иашьа Тео изиҩхьан: «Раԥхьатәи ауасахәыҷы ацҳа иқәсит»), амала ииашаҵәҟьаны, иҭыхымҭақәа еиҳаны ирҭиир акәын.[17]

1880-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы раԥхьатәи исахьақәа рцәыргақәҵа ашьҭахь, иколлегацәеи, аҟазараҭҵааҩцәеи, аколлекционерцәеи рыбжьара ван Гог ихьӡ-иԥша еизҳауа иалагеит. Иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь Бриуссель, Париж, Гаага, Антверпен ақалақьқәа рҿы амемориалтә цәыргақәҵақәа еиҿкаан. XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы Париж аретроспективақәа мҩаԥган (1901, 1905), Амстердам (1905), иара убас кры зҵазкуаз ацәыргақәҵақәа Кельн (1912), Ниу-Иорк (1913), Берлин (1914). Уи анаҩс еиҵагылоз асахьаҭыхҩцәа анырра ду рынаҭеит. XX-тәи ашәышықәса азбжазы, Винсент ван Гог аҭоурых аҿы иреиҳаӡоу, еицырдыруа асахьаҭыхҩцәа дыруаӡәкны дрыԥхьаӡо иалагеит. 2007 шықәсазы, голландиатәи аҭоурыхҭҵааҩцәа ргәыԥ "'Голландиатәи аҭоурых аканон'" еиқәдыршәеит ашколқәа рҟны иддырҵаларц азы, уа ҩынҩажәижәаба тема рахьтә акы ван Гог изыркит, егьырҭ амилаҭтә символқәа Рембрандти асахьаҭыхратә гәыԥ «Стили» реиԥш иҟаз днарываргыланы.[18][19][20][21][22][23]

Пабло Пикассо иусумҭақәа инарываргыланы, аукционқәеи хаҭалатәи аҭирақәеи рҟынтәи агәаҭарақәа инарықәршәаны, ван Гог иусумҭақәа адунеи аҿы зегь реиҳа зыхә ҳаракқәоу иреиуоуп, 100 миллион инареиҳаны (2011 шықәсазтәи аеквивалент инақәршәаны) иҭииз рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: «Аҳақьым Гаше ипортреҭ», «Аԥошьҭаныҟәгаҩ Жозеф Рулен ипортреҭ», «Аирисқәа». “Акипарис ҵлақәа ахьгыло ачарыц мыхурсҭа” 1993 шықәсазы 57 миллион доллар ҳәа иҭиин, уи аамҭазы уи даараӡа ахә ҳаракын ҳәа иԥхьаӡоуп, насгьы иара иҭыхымҭа “Алымҳа ԥҟани аҭаҭыныжәгеи зну ахатәы портреҭ” 1990-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы иҭиин. Уи ахәԥса 80-90 миллион доллар рҟынӡа инеиуан. Ван Гог иҭыхымҭа "Аҳақьым Гаше ипортреҭ" аукцион аҿы 82,5 миллион доллар ҳәа ирҭиит. «Ицәаӷәоу амыхурсҭеи ацәаӷәаҩи» Ниу-Иорктәи аукционтә ҩнаҿынтә 81,3 миллион доллар ҳәа ирҭиит.[24][25][26][27][28]

Лаҵарамза 14, 2021 шықәсазы Ниу-Иорк ақалақь «Кристис» аукцион аҿы, аимпрессионист иҭыхымҭа "Тренктаи ацҳа" 39 миллион доллар инарыцны ирҭиит.[29]

2025 шықәсазы аҟаза иҭыхымҭа “Парижтәи ароманқәеи аҵәца иҭагыло агәили ” Ниу-Иорктәи аукцион Сотбис аҟны 62,7 миллион доллар ҳәа ирҭиит.[30]

Тео иахь ииҩыз аҵыхәтәантәи исаламшәҟәаҿы Винсент ахшара ахьимамыз азы, исахьаҭыхымҭақәа ихылҵшьҭрақәа реиԥш дшырзыҟаз атәы иҩуан. Аҭоурыхҭҵааҩ Саимон Шама уи дазхәыцуа алкаа ҟаиҵеит «иашаҵәҟьаны ахшара диман — аекспрессионизм, насгьы ахылҵшьҭра рацәаны» ҳәа. Шама ван Гог истиль аелементқәа зхы иазырхәаз асахьаҭыхҩцәа рацәаҩны рыӡбахә иҳәоит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Уиллем де Кунинг, Говард Хоџькин, Џьексон Поллок. Афовистцәа аԥштәи ахархәара аҳәаақәа дырҭбааит, «Die Brücke» агәыԥ аҟынтәи анемец експрессионистцәеи, егьырҭ заатәи амодернистцәеи реиԥш. 1940-1950-тәи ашықәсқәа рзы иҟаз абстракттә експрессионизм Ван Гог иҭыхымҭақәа рҷыдарақәа анырра анаҭеит ҳәа ԥхьаӡоуп. Аҟазараҭҵааҩ Сиу Хаббард аӡыргара Винсент ван Гоги аекспрессионизми" иазкны абас иҳәоит:[31][32][33]

Ҩажәатәи ашәышықәса алагамҭазы Ван Гог аекспрессионистцәа асахьаркыратә бызшәа ҿыц риҭеит, уи хыхь-хыхь акәымкәа, инарҵауланы аҵакы аилкаара алнаршон. Иара убасгьы машәыршәа акәӡам, уи аамҭазы Фреид агәынхәҵысҭа аҵаулара ахьааиртыз. Ари зеиԥшыҟам иҟәышу ацәыргақәҵа Ван Гог ихәҭоу аҭыԥ аҿы днанагоит: амодерн аҟазара амҩа аартҩы иҭыԥ аҿы.

At the beginning of the twentieth century Van Gogh gave the Expressionists a new painterly language which enabled them to go beyond surface appearance and penetrate deeper essential truths. It is no coincidence that at this very moment Freud was also mining the depths of that essentially modern domain -the subconscious. This beautiful and intelligent exhibition places Van Gogh where he firmly belongs; as the trailblazer of modern art.
Hubbard, Sue. «Vincent Van Gogh and Expressionism». Independent, 2007

1957 азы, абританиатә сахьаҭыхҩы Френсис Бекон (1909-1992) ван Гог иусумҭа «Тарасконҟа амҩа иқу асахьаҭыхҩы» арепродукциа шьаҭас иҟаҵаны, аоригинал Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьраан иқәхын, иусумҭақәа рсериа аԥиҵеит. Бекон арҿиаразы агәаҳәара изҭаз асахьа мацара акәӡамызт, ван Гог ихаҭагьы, Бекон «итәымуаҩу, имыцху ауаҩы» ҳәа диԥхьаӡон —уи Бекон усҟантәи игәалаҟазаара иақәшәоз азыҟазаашьа акәын.

Ниуенен игылоу Ван Гог ибаҟа

Анаҩс, ирландиатәи асахьаҭыхҩы ван Гог аҟазараҿы итеориақәа ихы рыдикылон, ван Гог иашьа Тео иахь иишьҭыз асаламшәҟәы аҟынтәи ацәаҳәақәа ааигон: “асахьаҭыхҩы иашаҵәҟьақәа амаҭәарқәа шыҟаҵәҟьоу еиԥш акәӡам ишҭырхуа... Урҭ рсахьа ҭырхуеит, избан акәзар дара рхы еиԥш ирбоит.”[34]

Жьҭаарамза 2009ш. инаркны ажьырныҳәамза 2010 нӡа, Амстердамтәи Винсент ван Гог имузеи аҿы аҟаза исалам шәҟәқәа ирызку ацәыргақәҵа мҩаԥысит, анаҩс, ажьырныҳәамза анҵәамҭа инаркны мшаԥымза 2010 ш. рҟынӡа, ацәыргақәҵа Лондонтәи Аҟазаратә Академиахь ииаган.[35][36]

Ихадароу астатиа: Винсент Ван Гог исахьақәа рсиа

Асахьаҭыхымҭақәа авандализм рзура

[аредакциазура | акод аредакциазура]

2022 шықәса жьҭаарамзазы, Лондонтәи Амилаҭтә Галереиаҿы, ҩыџьа активисткацәа Ван Гог исахьаҭыхымҭа « Азараҟьақәа» аконсервтә томаттә суп рықәырҭәеит. Асахьа 84 миллион доллар иаԥсоуп ҳәа ԥхьаӡоуп. Фиби Пламмер акциа аан, активисткацәа руаӡәык иазгәалҭеит: «Миллионҩыла амла иакуа, ахьҭа иакуа аҭаацәарақәа абылтәы рымаӡам. Урҭ банкак асуԥҵәҟьа рзырԥхаӡом.» Аӡӷабцәа Just Stop Oil ҳәа изышьҭоу агәыԥ иалан, урҭ Твиттер адаҟьаҿы акциа иазку апост анырҵеит. Активисткацәа рфотосахьа атекст ацын: “Аҟазара аԥсҭазаара аасҭа ахә ҳаракума? Афатә аасҭа? Аиашара аасҭа? Ахәԥсақәа рыцлареи аҳауа акризиси абылтәы иадҳәалоуп».[37]

Кирк Дуглас ван Гог ироль наигӡоит «Аԥсҭазаара азгәышьра» аҟны

Дахьаарԥшу акиноқәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

2017 шықәса рашәарамзазы Анси имҩаԥысуаз анимациатә кино жәларбжьаратәи афестиваль аҟны иӡырыргеит британиеи, польшеи, америкеи еицҭырхыз амультфильм “Ван Гог. Бзиабарала, Винсент». Ари адунеи аҿы раԥхьаӡатәи зметраж еиҵыху анимациатә фильмуп, аҿыханҵа атехникала иҟаҵоу ахәшашәыгала иҭыху, 62,450 кадр зегьы Ван Гог дызлаҭыхуаз астиль ала иҟаҵоуп. Аперсонаж хада ироль наигӡоит польшатәи актиор Роберт Гулачик.

  1. "Voorouders". westbrabantsarchief.nl. Иархивтәоу аоригиналзы 2023-06-04 ахь. Ириашоу 2024-02-16 шықәсазы.
  2. "Сенсация в мире искусства: на знаменитом портрете Винсента Ван Гога изображён не он". Вечерняя Москва (аурыс бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2018-12-02 ахь. Ириашоу 2018-12-02 шықәсазы.
  3. "Inspiration from Japan" (англыз бызшәала). www.vangoghmuseum.nl. Иархивтәоу аоригиналзы 2020-06-11 ахь. Ириашоу 2020-05-25 шықәсазы.
  4. "World's oldest person dies at 122" (англыз бызшәала). CNN. 1997-08-04. Иархивтәоу аоригиналзы 2014-03-22 ахь. Ириашоу 2013-11-24 шықәсазы.
  5. Morris D. Alcohol, cigarettes, chocolates and sweets - The secrets of a long life? (англ.) // Daily Mail : газета. — DMG Media, 2008. Архивировано 21 ажьырныҳәамза 2014 года.
  6. Cohen B. A tale of two ears (англ.) // J R Soc Med : Journal. — 2003. — No. 96(6). Архивировано 14 ажьырныҳәамза 2025 года.
  7. "Ван Гог — художник с раненым сердцем". Журнал «Решение вместе с Decision» (аурыс бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 2025-01-14 ахь. Ириашоу 2025-01-14 шықәсазы.
  8. "Ученые предложили новую версию истории с отрезанным ухом Ван Гога". РБК Стиль. Иархивтәоу аоригиналзы 2025-01-14 ахь. Ириашоу 2025-01-14 шықәсазы.
  9. "Ван Гог сам себе отрезал ухо: вероятно правда! - Azbuka media" (аурыс бызшәала). 2024-03-09. Иархивтәоу аоригиналзы 2025-01-14 ахь. Ириашоу 2025-01-14 шықәсазы.
  10. "Was truth the biggest casualty in the case of Vincent and his severed ear". Иархивтәоу аоригиналзы 2021-10-04 ахь. Ириашоу 2021-10-04 шықәсазы.
  11. "Винсент Ван Гог. Биография. Жизнь и творчество" (аурыс бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 2012-06-07 ахь. Ириашоу 2012-04-24 шықәсазы.
  12. Бейли, 2019, 171.
  13. "Vincent van Gogh «shot dead by two boys»". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2011-10-17 ахь. Ириашоу 2011-10-17 шықәсазы.
  14. van Gogh, Theodorus. "Letter from Theo van Gogh to Elisabeth van Gogh Paris, 5 August 1890". Webexhibits.org. Иархивтәоу аоригиналзы 2011-06-24 ахь. Ириашоу 2015-04-28 шықәсазы. he said, "La tristesse durera toujours" [The sadness will last forever]
  15. Hayden, 2003, 152; Van der Veen, 2010, 260–264.
  16. Sweetman, 1990, 367.
  17. Григорий Козлов. Легенда о Ван Гоге Архив ҟаҵан 2014-09-28 азы Wayback Machine аҟны. // Вокруг света.
  18. John Rewald. Studies in Post-Impressionism (англ.) / The Posthumous Fate of Vincent van Gogh 1890—1970, p. 244—254, published by Harry N. Abrams 1986, ISBN 0-8109-1632-0.
  19. Dorn, Roland, Leeman, Fred & alt. Vincent van Gogh and Early Modern Art, 1890—1914 (exh. cat). Essen & Amsterdam, 1990. ISBN 3-923641-33-8 (англ.) ISBN 3-923641-31-1 (нем.) ISBN 90-6630-247-X (нид.).
  20. Rewald, John. The posthumous fate of Vincent van Gogh 1890—1970 (англ.). Museumjournaal, August-September 1970. Republished in Rewald (1986), 248.
  21. Vincent van Gogh The Dutch Master of Modern Art has his Greatest American Show (англ.), Life Magazine, 10 October 1949, p. 82—87.
  22. National Gallery of Art, Washington DC Архив ҟаҵан 2013-04-02 азы Wayback Machine аҟны. (англ.).[анеишьа амам азхьарԥш].
  23. "The Canon of the Netherlands". De Canon van Nederland (анидерланд бызшәала). Foundation entoen.nu. 2007. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2012-08-17 ахь.
  24. Andrew Decker. [https://web.archive.org/web/20110725001800/http://www.artnet.com/magazine_pre2000/features/decker/decker11-4-98.asp Архив ҟаҵан 2011-07-25 азы Wayback Machine аҟны. The Silent Boom (англ.), Artnet.com.
  25. «Top 10 Most Expensive Paintings» (англ.), TipTopTens.com. Архив ҟаҵан 2013-03-17 азы Wayback Machine аҟны..
  26. G. Fernández. The Most Expensive Paintings ever sold Архив ҟаҵан 2021-06-09 азы Wayback Machine аҟны. (англ.), TheArtWolf.com.
  27. "Винсент Ван Гог". Мир Ван Гога (аурыс бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 2012-06-07 ахь. Ириашоу 2012-04-24 шықәсазы.
  28. Картину Ван Гога продали на аукционе в США за $81,3 млн Архив ҟаҵан 2017-11-14 азы Wayback Machine аҟны..
  29. Картину Ван Гога продали на аукционе за $39,2 млн Архив ҟаҵан 2021-05-14 азы Wayback Machine аҟны..
  30. "В США картина Ван Гога ушла с молотка за $62,7 млн - Газета.Ru | Новости". Газета.Ru (аурыс бызшәала). 2025-11-27. Ириашоу 2025-11-27 шықәсазы.
  31. Schama, Simon. Wheatfield with Crows (англ.). Simon Schama’s Power of Art, 2006. Documentary, from 59:20.
  32. "Glossary: Fauvism (англ.), Tate. Архивркиз 17. 5. 2010 «Wayback Machine» аҿы.
  33. David Minthorn. NYC exhibit highlights van Gogh’s impact on German modernists (англ.), USA Today, 2007.
  34. Farr, Dennis; Peppiatt, Michael; Yard, Sally. Francis Bacon: A Retrospective (англ.). Harry N Abrams, 1999. 112. ISBN 0-8109-2925-2.
  35. The Art Newspaper (англ.). Архивркиз 20. 11. 2012 «Wayback Machine» аҿы.
  36. "The Real Van Gogh: The Artist and His Letters" (англыз бызшәала). Royal Academy of Arts. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2012-08-17 ахь.
  37. "В Лондоне экоактивистки облили томатным супом картину Ван Гога «Подсолнухи»". www.kommersant.ru (аурыс бызшәала). 2022-10-14. Иархивтәоу аоригиналзы 2022-10-22 ахь. Ириашоу 2022-10-14 шықәсазы.
  38. "Брикстонский фунт". Турбина.ру (англыз бызшәала). 2019-03-21. Иархивтәоу аоригиналзы 2020-02-26 ахь. Ириашоу 2021-05-26 шықәсазы.
  • «100 текстк аԥсышәала», Аҟәа: Агәыҳалалратә Фонд Аԥсны аҿиара Афонд «Амшра», 2015
  • Ван Гог. Письма / Пер. с голл. — Л.М., 1966.
  • Бейли, Мартин. Неизвестный Ван Гог. Последний год жизни художника / Пер. с англ. И. Матвеевой; научная редакция Л. Левицкая. — М.: Манн, Иванов и Фербер, 2019. — 224 с. — ISBN 978-5-00146-220-0.
  • Ревалд Дж. Постимпрессионизм / Пер. с англ. — Т. 1. — Л.М., 1962.
  • Перрюшо А. Жизнь Ван Гога / Пер. с франц. — М., 1973.
  • Эник, Натали. Слава Ван Гога. Опыт антропологии восхищения / Пер. с фр. Карена Саркисова. — М.: V-A-C press, 2014. — 384 с. — 1500 экз. — ISBN 978-5-9904389-6-5.
  • Мурина Елена. Ван Гог. — М.: Искусство, 1978. — 440 с. — 30 000 экз.
  • Найфи, Стивен; Уайт-Смит, Грегори. Ван Гог. Жизнь: В 2 томах / пер. с англ. О. Якименко, Е. Желтовой; под ред. А. Щениковой-Архаровой. — СПб.: Азбука, 2016. — 672 с. — ISBN 978-5-389-06935-0.
  • Дмитриева Н. А. Винсент Ван Гог. Человек и художник. — М.: Наука, 1980. — 404 с.
  • Стоун И. Жажда жизни (книга). Повесть о Винсенте Ван Гоге / Пер. с англ. — М.: Правда, 1988.
  • Constantino Porcu. Van Gogh. Zijn leven en de kunst. — Нидерланды, 2004. — (Серия Kunstklassiekers). (нид.)
  • Wolf Stadler. Vincent van Gogh. Amsterdam Boek, 1974. (Серия De Grote Meesters(нид.)
  • Frank Kools. Vincent van Gogh en zijn geboorteplaats: als een boer van Zundert. De Walburg Pers, 1990. (нид.)
  • Козлов Г. Легенда о Ван Гоге // Вокруг света. — 2007. — № 7.
  • Ван Гог В. Письма к друзьям / Пер. с фр. П. Мелковой. — СПб.: Азбука; Азбука-Аттикус, 2012. — 224 с. — (Азбука-классика). — 5000 экз. — ISBN 978-5-389-03122-7.
  • Гордеева М., Перова Д. Винсент Ван Гог // Великие художники. — Т. 18. — К.: Комсомольская правда — Украина, 2010. — 48 с.
  • David Sweetman. Van Gogh: His Life and His Art. — Touchstone, 1990. — ISBN 978-0-671-74338-3.
  • Deborah Hayden. Pox: Genius, Madness and the Mysteries of Syphilis. — Basic Books, 2003. — ISBN 978-0-465-02881-8.
  • Wouter Van der Veen, Peter Knapp. Van Gogh in Auvers: His Last Days. — Monacelli Press, 2010. — ISBN 978-1-58093-301-8.