Елцин, Борис Николаи-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Борис Ельцин» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Елцин, Борис Николаи-иԥа
Бори́с Никола́евич Е́льцин

Аполитикатә партиа
Алахәылара Асовет Еидгыла акоммунисттә партиа (1961 ш.–1990 ш.)
апартиа иалам (1990 ш. инаркны)

Аира жәабранмза 1, 1931 ш.
Бутка
Аԥсра мшаԥымза 23, 2007 ш.
Москва
Аԥсра зыхҟьаз сердечная недостаточность
Аԥсыжра аҭыԥ Новодевичье кладбище
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла,
Урыстәыла
Абызшәақәа Аурыс бызшәа
Ахаҵа/Аԥҳәыс Наина Иосифовна Ельцина (1956 ш.–2007 ш.)
Ани аби Клавдия Васильевна Ельцина,
Николай Игнатьевич Ельцин
Ахәыҷқәа Татьяна Юмашева,
Елена Борисовна Окулова
Ауацәа Михаил Николаевич Ельцин (ашьа/аиаҳәшьа)
Анхарҭа Профессора Мухамедьярова улица (1934 ш.–1937 ш.), Сухая Река (1934 ш. рҟынӡа), Бутка (1931 ш.–1934 ш.), Березники (1937 ш.–1949 ш.), Екатеринбург (1949 ш.–1985 ш.)и Москва (1985 ш.–2007 ш.)
Алма-матер Уральский государственный технический университет,
Уральский федеральный университет
Аусура гражданский инженер,
аполитик
Адин Русская православная церковь
православие
Анашьамҭақәа орден Ленина
краповый берет
Большой крест ордена Доброй Надежды
орден Трёх звёзд
орден князя Ярослава Мудрого I степени
… подробнее на Викиданных
Анаԥынҵамҭа

Борис Николаи-иԥа Елцин (аур. Борис Николаевич Ельцин; жәабранмза 11931 ш., Бутка, Урыстәылатәи СФСР, СССРмшаԥымза 232007 ш., Москва, Урыстәыла) — асоветтәи, урыстәылатәи аҳәынҭқарратә усзуҩы. Урыстәылатәи Афедерациа Актәи ахада (1991–1999 шш. рзы). КПСС алахәыла (1961–1990 шш. рзы). Аҭоурых данылеит Урыстәыла ахадас жәлары зегьы иалырхыз иакәны, уи иоуп Урыстәыла ауаажәларра-политикатәи аекономикатәи шьақәгылашьа шьаҭанкыла еиҭазкыз.

Борис Ельцин 1993–1999-тәи ашықәсқәа раантәи инапхгараҭара аамҭа Иреиҳаӡоу Ахеилаки, априватизациеи, Акомпартиа аҿагыларақәеи, аимпичментқәа рзы аԥышәарақәеи, Чечентәыла аибашьра алагареи (1994), иара убасгьы1998 шықәса рзтәи адефолти рыла иалкаауп. Борис Ельцин инысмҩа аҟны ирацәоуп аинтерес зҵоуи еиҿагылоуи афактқа.[1]

Ельцин инысмҩа[аредакциазура | акод аредакциазура]

Борис Ельцин диит февраль мза аказы, 1931 шықәсазы, Свердловтәи аобласт, ақыҭа Бутка аҟны. Борис иаб, Николаи Игнати-иԥа Ельцин, аус иуан ргылаҩыс, иан, Клавдиа Васили-иԥҳа, дҭеразын. Ельцин иаб арепрессиақәа дрықәшәеит, урҭ ирыхҟьаны Волго-Донтәи аканал аргыларахь мчыла ддәықәҵан.

Ельцин иаб хара имамкәаны ахьырхәра ихигонаҵы, иара иԥҳәыси иԥа Бориси ицҭакыз аҳақьым иԥҳәыс илыдкыланы илыман. Николаи Ельцин иҿҳәара аанӡа доужьын, дгьежьуеит иҭаацәа рахь, уа анаҩс диуеит аҩбатәи аҷкәын Михаил, Борис иашьа еиҵбы.[2]

Ахәыҷра ашықәсқәеи ақәыԥшра аамҭеи[аредакциазура | акод аредакциазура]

Борис Ельцин ихәыҷра зегьы ақалақь ду Березники, Пермтәи аобласт аҟны ихигеит. Ашкол аҟны аҵара аниҵоз иара акласс аҟны аҵаҩцәа зегьы даарылукаауа дыҟан. Иҟан ахҭыс, аҷкәын акласстә напхгаҩы данылҿагыла, уи ашколхәыҷқәа лыпҟон, иара убасгьы, аҵара ззымҵоз лыҩныҟа иганы аус длыруан.

Ари ахҭыс иахҟьаны Борис Ельцин ашкол дҭырцарц акгьы игымхеит. Аха, иара акомҿар ақалақьтә хеилак дадҵаалоит, аиашагьы шьақәиргылоит. Ас еиԥш аҭагылазаашьа Ельцин иԥсҭазаара зегьы аԥхьаҟатәи инысмҩагьы анырра ӷәӷәа анаҭазар алшоит.

Ашколтә аттестат аниоу ашьҭахь, Борис Ельцин дҭалоит Уралтәи аполитехникатә институт аргыларатә факультет. Астудентә шықәсқәа раан иара аспорт даара дазҿлымҳахоит, анапылампыл дыхәмаруан, аҵыхәтәангьы аспорт азҟаза ҳәа ахьӡ иоууеит.[3]

Аинтерес зҵоу фактуп, Борис Ельцин анацәа дуи арбага нацәеи шимамызгьы, анапылампыл даара ибзианы дыхәмаруан, ақалақь еизгоу акоманда аилазаараҟны дыҟан. Уи агра иахҟьаны Ельцин арра дрымгеит. Аҵара даналга, иара еиуеиԥшым азанааҭқәа рҵара иҽазишәоит, уи имаз адимлом алшара шинаҭозгьы анапхгараҭаратә ҭыԥ аанкыларазы.

Анаҩстәи ҩышықәса, аԥхьаҟа Урыстәыла ахадас иҟалараны иҟаз Ельцин, ихатәымчқәа рыла аргылараҿы прорабс дҟалартә иҟаиҵоит, анаҩс Свердловсктәи аҩныргыларатә комбинат анапхгаҩыс дарҭоит.

Уи инаҷыданы Борис Ельцин аполитикагьы дазҿлымҳахоит, уи иабзоураны апартиатә ԥхьагылараҿгьы амҩа изаатуеит. 70-тәи ашықәсқәа рзы иара идыргалоит КПСС Свердловсктәи обком актәи амаӡаныҟәгаҩ иҭыԥ. Анаҩс, Борис Ельцин ибиографиа аҟны даҽа еиҭакра дук ҟалоит, иара Агәҭантәи апартиа Ахеилак далахәылахоит.[4]

Акариера[аредакциазура | акод аредакциазура]

Борис Николаи-иԥа Ельцин Свердловск аиҭашьақәыргылара ахырхарҭаҟны даара аихьӡара дуқәа ааирԥшит. Иара инапхгарала амҩаду хада ашьҭаҵара мҩаԥысуан, иргылан аҩнеихагыла дуқәа аусзуҩцәа рзы, иара убасгьы, анаплакқәа аԥҵан. Иаарласны аргылара хыркәшан 23 еихагыла змаз КПСС аобласттә комитет ахыбра, ари аргылара ақалақь аҟны зегь реиҳа иҳаракыз хыбран.

Ельцин аметрополитен аргылара алагара аус аҟынгьы илагала дууп, иара иоуп изыбзоуроу ари апроект алагаразы аиҳабыра рақәыршаҳаҭра. Убри анаҩсгьы, Свердловск афатәаалыҵла аиқәыршәара даараӡа еиӷьхеит. Аинтерес зҵоу фактуп, апартиатә усура аҟны акыр аихьӡарақәа зауз аполковник ҳәа арратә хьӡы ахьихҵаз.[5]

1985 шықәсазы Борис Ельцин аусура Москваҟа диаргоит, уа иара еиуеиԥшым апроектқәа аус рыдиулоит, Асовет Еидгыла зегьы аҳаракыра аҟны. Аҟазара злаз аполитик Москваа ргәы дақәшәо дшыҟалахьазгьы, аус ицызуаз рацәак датәарбомызт, акырнтәгьы иусқәа рхырбгалара рҽазыршәахьан.

Ельцин партиак ицалази иареи рыбжьара ари «аибашьра хьшәашәа» игәы аныԥнаҵәа, дара русура ажәлар рҿаԥхьа акритика азиуит апленумқәа руак аҟны, насгьы иаахтны иҳәеит дара Горбачиов еиҭашьақәыргылара ишаҿагыло.

Абри ашьҭахь аиҳабыра рхаҭарнакцәа критикатә ҭак изыҟарҵеит Борис Ельцин. Уи аҟны дара адгылара риҭеит Михаил Горбачиов, агәрагьы диргеит аполитик апартиатә усқәа дшырҟәыҭхахо азы.

Усҟан аӡәгьы ихахьы изаагомызт, шықәсқәак рнаҩс Ельцин аполитикатә арена аҟны акрызҵазкуа хаҿхоит ҳәа. 1989 шықәсазы уи Москватәи аокруг ала СССР жәлар рдепутатс далырхуеит, аҳҭнықалақь 91% ауааԥсыра рҟынтә адгыларагьы иоуит. Ԥыҭрак ашьҭахь, уи РСФСР апрезидент иҭыԥ ааникылоит.[6]

Урыстәыла апрезидент[аредакциазура | акод аредакциазура]

1991 шықәса август 19 рзы СССР аҳәынҭқарратә хҳәаразы ашьаҿақәа рымҩаԥгара аан, «августтәи апутч» ҳәа еицырдыруа аан, Михаил Горбочиов имчра зегьы ицәыӡит, уи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аҳәынҭқарратә хеилак алахәылацәа рнапаҿы иҟалеит. Усҟан Ельцин ахаԥшьгаратә акомитет азы оппозициахеит, уи апланқәа рынагӡарагьы алимыршеит.

Аҵыхәтәаны Борис Ельцин Урыстәыла актәи ахадас дагьыҟалоит, ари амаҵзура аҟны иҟазаара аан иара еицырдыруа Беловежтәи аиқәышаҳаҭра инапы аҵаиҩит, уи иаанагоз СССР ахырбгалара акәын. Урыстәыла Борис Ельцин инапхгараҭарала даара аҭагылазаашьа уадаҩын. Зегь реиҳа иҟаҵаз гха дуун Чечентәыла аибашьра ахацыркра.[7]

Борис Ельцин ари арратә конфликт аанкылара иҽазишәеит, аха иара иҽазышәарақәа лҵшәадахеит. Аибашьра аанкылара зылшаз уи инаҩс Урыстәыла ахадас иалхыз Владимир Путин иоуп. Иара иоуп аҭынчра ашьақәыргылара зылшаз, 2001 шықәсазы.

Борис Ельцин акыр ареформақәа мҩаԥигеит аҩныҵҟатәи аполитика ахырхарҭаҟны, иара убасгьы иҽазишәеит мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа рҟны аизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы. Акомпромисс аԥшааразы азин ҟаиҵеит Польшеи, Чехиеи, Словакиеи НАТО арратә базақәа рыргылара азы.

Иара илшоз зегьы ҟаиҵон Еиду Америкатәи Аштатқәа реиҳабыра рҟны аилибакаара ашьақәыргыларазы, уи ахадас усҟан дыҟан Билл Клинтон.

Борис Ельцин ипрезидентра аамҭазы ихымҩаԥгашьа, иарбан шьаҿақәоу идикылараны дыҟаз аилкаара даара иуадаҩын. Иара ауааԥсыра рҿаԥхьа еиуеиԥшымкәа ихы мҩаԥигон, ианааиҭаххоз ашәа иҳәар, мамзаргьы дкәашар илшон, мамзаргьы ижәны ауаа рахь дцәырҵыр ҟалон. Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа ауаа лафк аҳасаб ала ирыдыркылон.

1996 шықәсазын, Борис Ельцин атәыла ахадас аҟаларазы икандидатура ақәыргылара игәы иҭамызт, аха алхрақәа дрылахәхеит акоммунистцәа аиааира рзымгарц азы.[8]

Алхраԥхьатәи акомпаниа аан ицәажәара абас еиԥш ишьақәгылан: «Убжьы аҭа, мамзаргьы уаҵахоит» ҳәа. Иара аӡәырҩы артистцәа адгылара ирҭон, урҭ рыбжьара иҟан Алла Пугачиова, Игор Николаев, Лиудмила Гурченко, Константин Кинчев уҳәа аӡәырҩы.

Аамҭа кьаҿк иалагӡаны, Борис Ельцин иреитинг 3% инаркны 35% рҟынӡа ишьҭыҵит. Абжьаҭара актәи аиндаҭлара ашьҭахь Борис Ельцин аинфаркт ихьуеит, аполитик игәы иазымычҳаит ари аҟара агәҭынчымрақәа.

1996 шықәсазтәи алхрақәа раан Борис Ельцин иоппонент хада Геннади Зиуганов дииааиуеит, уи алшара инаҭоит даҽазныкгьы аҳәынҭқарра ахадас аҟаларазы. Уи хықәкысгьы ишьҭихуеит урыстәылатәи аекономика ашьҭыхра, насгьы акыр ареформақәа рымҩаԥгара асоциалтә хырхарҭа ала.

Борис Николаи-иԥа Ельцин иҭахын атәылаҟны акоррупциа шьаҭанкыла ақәхра, аҳәынҭқарра абиуџьет аусзуҩцәа рганахьала иақәыз ауалқәа ршәара, абизнес маҷ ацхраара уҳәа реиԥш иҟаз акыр аидеиақәа аԥсҭазаара аларҵәара.[9]

Аха, Борис Ельцин игәабзиара есҽны еицәахон. 1996 шықәсазы иара игәы аԥҟара мҩаԥган, убри аҟынтә уи аамҭазы ироль неигӡон Урыстәыла ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс иҟаҵаз Виктор Черномырдин. 1998 шықәсазы адунеи аҿы афинанстә кризис аҭыԥ змаз, Урыстәыла егьырҭ атәылақәа раасҭагьы уи ахҟьаԥҟьақәа даара ианыԥшит.

Акризис даара иуадаҩыз аинфлиациахь икылнагеит. Борис Ельцин илшоз зегь ҟаиҵон Урыстәыла еиламҳарц. Иара аҩажәатәи ашәышықәса аҵыхәтәантәи амшынӡа аҳәынҭқарра дуӡӡа ахадас дыҟан, декабр мза 31, 1999 шықәса рзы ихала ԥхьатәара дцаанӡа.

Ауаажәларра рахь иҟаиҵаз ааԥхьара ҭызхуаз ателеоператор иажәақәа рыла, ажәахә ашьҭахь, Борис Ельцин уажәшьҭа ԥыхьатәи атәыла ахадас иҟаз, аамҭаказы ҿымҭкәан дтәан, уи аан илаӷырӡқәа иҿаланы ицон.

Борис Ельцин ԥхьатәара ицара аамҭазы Урыстәыла ауааԥсыра рахьтә ахԥатәи ахәҭа ибзианы изыҟамызт. Ажәлар иара ахара идырҵон Урыстәыла ахьеилаижьыз азы, насгьы егьырҭ арыцҳарақәа рзынгьы. Апрезиденттә ҭыԥ анаанижь ашьҭахь Борис Ельцин агәыҳалалра инапы алеикуеит, уи азын иаԥиҵоит ихатәы фонд.[10]

Ельцин инапы зҵеиҩыз аусԥҟақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

1991 шықәса, ииуль мзазы Борис Ельцин инапы аҵеиҩуеит аполитикатә партиақәа реиҿкааратә еилазаарақәеи, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рмассатә, уаажәларратә ҵысрақәеи, РСФСР аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи русура аанкыларази аусдҵақәа.

Август 19 рзы СССР аҳәынҭқарратә еиҭасра аан Борис Ельцин Урыстәыла ауаажәларра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит. Урыстәыла аиҳабыра иаарласны ирыдыркылаз аусқәа апутчистцәа рыпланқәа хнарбгалеит. Ажәлари аруааи рыдгылара ҵыргәас иҟаҵаны, Борис Ельцин илшеит атәыла амҽхак ду змаз, Урыстәыла аграждантә еибашьрахьы икылызгарц алшоз апровокациа аҟынтә ахьчара.

Август 23, 1991 шықәсазы РСФСР Иреиҳаӡоу Асессиа аҟны Борис Ельцин аусԥҟа инапы аҵеиҩуеит РСФСР Акомпартиа аиужьразы, ноиабр мза 6 рзы, иара убри ашықәс, Урыстәыла аҵакырадгьыл аҟны РСФСР Акоммунисттә партиеи КПСС-и реилазаарақәа русуреи, насгьы рмаза амилаҭркреи аанкылан.

Декабр мза 8, 1991 шықәсазы Борис Ельцини Леонид Кравчуки, Станислав Шушкевичи рнапы аҵарҩит Белоруссиеи, Урыстәылеи, Украинеи Беловежтәи аиқәышаҳаҭра, уи иазԥхьагәанаҭон СССР аԥыхра, насгьы уи ахаҭыԥан Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара (СНГ) аԥҵара.

Ашықәс анҵәамҭазы Урыстәыла ахада Ельцин ианар мза 2, 1992 шықәса инаркны ахәқәа рлиберализациа ашьақәырӷәӷәаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Ианар мза 1992 шықәсазы, иара убасгьы, «Зых иақәиҭу ахәаахәҭразы» аусԥҟа анапы аҵаҩын.[11]

1993 шықәса, март 20 рзы Борис Ельцин аусԥҟа инапы аҵеиҩит, 1993 шықәса апрель 25 рзы Урыстәылатәи Афедерациа апрезидент иахь агәрагаразы ареферендум амҩаԥгаразы. Урыстәылазегьтәи ареферендум мҩаԥган иазгәаҭаз арыцхә аҽны.

Алхратә сиа ианын 107 миллионҩык Урыстәыла атәылауаа. Ареферендум рхы аладырхәт 64,5% алхыҩцәа. Ареферендум алҵшәа хадақәа – Борис Ельцин имҩаԥигоз акурс адгылара аҭара акәын.

1994 шықәса анҵәамҭазы Урыстәыла анапхгара Чечентәыла аҵакырадгьыл аҟны бџьаршьҭыхлатәи аусқәа хацнаркит – иалагоит актәи ачечентә еибашьра.[12]

1996 шықәсазы аиҭарҿиара азы апрограмма ҿыц аус адулара иалагаз апрезидент Ельцин, имҩаԥигеит аминистрцәа реилазаара аиҭеиҿкаара.

1996 шықәса ианар–апрель мзақәа рзы апрезидент акыр аусдҵақәа инапы рыҵеиҩит, урҭ ззырхаз абиуџьет амаҵ азызуаз аусзуҩцәа зегьы руалафахәы рызшәареи, атәанчаҩцәа акомпенсациатә шәарақәа рзыҟаҵареи ракәын. Иара убасгьы, акыр аусқәа мҩаԥган Чечентәылатәи аибашьра иадҳәалаз апроблема аӡбаразы.

Декабр мза 31, 1999 шықәсазы Борис Николаи-иԥа Ельцин ԥхьатәара дышцо рылеиҳәеит, уи азынгьы «Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент инапынҵақәа рынагӡаразы» аусԥҟа инапы аҵеиҩит.[13]

Ахатәы ԥсҭазаара[аредакциазура | акод аредакциазура]

Борис Ельцин аԥхьаҟа иԥҳәысхараны иҟаз Наина Иосиф-иԥҳа Ельцинеи иареи еибадырит астуденттә шықәсқәа раан. Адиплом аниоу ашьҭахьҵәҟьа, арԥыс аԥҳәызба ажәа лниҵоит, ларгьы иаразнак дақәшаҳаҭхоит.

Иаарласны Ельцинаа рҭаацәа аҟны ииуеит аӡӷабцәа – Еленеи Татианеи. Анаҩс, арҭ аԥҳацәа ирыхшоит фҩык ахәыҷқәа. Амаҭацәа рахьтә зегь реиҳа деицырдыруа дҟалеит Борис захьӡыз, уи аамҭак азы урыстәылатәи акоманда «Формула-1» амаркетинг азы адиректорс дыҟан.

Аинтерес зҵоу фактуп, иара иашьа Глеб, Адаунцәа рсиндром змаз, иқәыԥшра ашықәсқәа рзын, зылшарақәа ԥку рыбжьара аӡсаразы Европа дахьачемпионхаз.[14]

Аԥсра[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Борис Ельцин агәыхь бааԥсы иман. Уи анаҩсгьы иара акыр арыжәтә џьбарақәа иҽрыдицалон, уигьы, ҳәарада, зынӡа игәабзиара иазеиӷьмызт.

2007 шықәсазы ԥасатәи апрезидент авирустә ҿкы иахҟьаны игәабзиара ахьыуашәшәырахаз иахҟьаны ахәышәтәырҭа дҭашәоит. Аҳақьымцәа аҳәамҭа ҟарҵеит уи иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылам ҳәа, аха ҩымчыбжьа ааҵхьаны Борис Николаи-иԥа Ельцин иԥсҭазаара далҵуеит.

Ари ҟалеит апрель 23, 2007 шықәсазы, усҟан 76 шықәса дырҭагылан. Официалла иԥсра зыхҟьаз ҳәа иазгәаҭан игәы аангылара.

Ельцин иԥсыжра ацеремониа ателеканалқәа рыла иддырбон. Анышә дамардеит Новодевичиетәи аԥсыжырҭа аҟны.[15]

Азгәаҭақәа[аредакциазура | акод аредакциазура]

  1. "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2022-10-10 ахь. Ириашоу 2024-01-29 шықәсазы.{{cite web}}: CS1 maint: archived copy as title (link)
  2. https://yeltsin.ru/news/biografiya-boris-nikolaevich-elcin-prezident-rossii-19911999/
  3. https://obrazovaka.ru/alpha/y/elcin-boris-nikolaevich-yeltsin-boris-nikolayevich
  4. https://historynotes.ru/boris-nikolaevich-elcin/
  5. https://histrf.ru/lichnosti/biografii/p/ieltsin-boris-nikolaievich
  6. https://tass.ru/encyclopedia/person/elcin-boris-nikolaevich
  7. https://ria.ru/20100423/225827648.html
  8. https://24smi.org/celebrity/3549-boris-eltsin.html
  9. http://www.panorama.ru/gov/gov20036.shtml
  10. https://www.prlib.ru/history/618999
  11. https://yeltsin.ru/archive/inventory/16/
  12. https://ria.ru/20120423/627376907.html
  13. http://www.historyru.com/docs/rulers/yeltsin/yeltsin-developments.html#/overview
  14. https://uznayvse.ru/znamenitosti/biografiya-boris-elcin.html
  15. https://lenta.ru/news/2007/04/23/eltsin1/