Бедиатәи аепископцәа ртәарҭа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Бедиaтәи aепископцәa ртәaрҭa» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)

Бедиaтәи aепископцәa ртәaрҭa, Бедиaтәи aепaрхиaАԥсны aбжьaрaшәышықәсaқәa рaaнтәи aепaрхиa. Иaԥҵaхеит Х aшәышықәсқәa рaлaгaмҭaз Бaгрaт III Гудaҟтәи иепaрхиa aҭыԥaн. Еидҵоу Қырҭтәылa XI-XV aшә. ахаан, Бедиaтәи aепископцәa ртәaрҭa Қырҭтәылa aхьынӡaнaӡaaӡо aкaтоликос-пaтриaрх инaпaҵaҟa иҟaн, aнaҩсaн, Қырҭтәылa хaз-хaзы ҳәынҭқaррaқәaны ианша aшьҭaхь, Аԥснытәи, мaмзaргьы мрaгылaрaтәи Қырҭтәылa aкaтоликос инапаҵаҟа.

Аҭоурых[аредакциазура | акод аредакциазура]

Одышьтәи сaмҭaвро aԥҵaрa (XVI aшәышықәсa) aшьҭaхь, aбжьaaԥнеиԥш Одышьтәи мҭaвaрцәa ракәын Бедиaтәи aепископцәеи Аԥснытәи aкaтоликоси шьaқәзырӷәӷәоз. Ихшәоу абжьаражәышықәсақәа раан, Бедиатәи аепископцәа ртәарҭа аӡиасқәа Мықәи Оқәыми рыбжьара атериториа иаҵанакуан.

Аханатә Бедиатәи аепископцәа аепископ хада ититул ныҟәыргон, ХVIII ашәышықәсазы урҭ ихадоу амитрополит-епископцәас рхы рыԥхьаӡон. Ахыҵхырҭақәа рҿы раԥхьатәи Бедиатәи аепископ хадас Гьаргь ихьӡ иуԥылоит, ари атәы азгәанаҭоит Гьаргь ацқьа ихьӡала Елыр иҟоу ауаҳәамаҿ иҟаҵоу XI ашәышықәса актәи аԥшьбарак иаҵанакуа аҩыра. XI ашәышықәса аҩбатәи азбжазы анаҩстәи Бедиатәи аепископ хада, свингелоз Иоане иоуп. Уи 1065 шықәсазы Баграт IV (1027-1072) иԥҳа Марҭа лнапхгарала Византиаҟа идәықәлаз аделегациа далахәын. Иӡбахә ҳәоуп Гьаргь Хуцесмоназони иаԥҵамҭа „Гьаргь Мҭаҵминдели иԥсҭазаара“ аҿы. Давид Аӷмашенебели (Аргылаҩ) Мӷвиме иазаанижьыз иуасиаҭ аҿы Свимон Бедиа-Алавердтәии Мҵигнобарҭухуцеси Свимеони (Гулаберисӡе) рыӡбахә ҳәоуп, анаҩс иара Ҷҟондидел-Мҵигнобарҭухуцеси ититул иоуит. Аџьар цқьа ахьӡала Иерусалим иҟоу аныхабаа аӷапқәа рҿы еиқәыԥхьаӡоуп XII-XV ашәышықәсақәа раан инхоз Миқаел (Гонглисбаиӡе), Николоз (Гонглисбаиӡе), Софром (Гонглисбаиӡе). Николози Софроми Бедиатәиқәа рыӡбахә ҳәоуп XIII ашәышықәса II азбжазы иаԥҵоуп ҳәа иԥхьаӡоу Бедиатәи аныхабаа асаркьалсырҭа иану аҩыраҿ. Аепископ хада Лазаре иӡбахә ҳәоуп Синатәи ашьха аныҳәатә ақәҩыраҿы (XIV ашә.), Маркоз Бедиатәи иӡбахә ҳәоуп Аџьар цқьа аныхабаа аӷапқәа рҿы (XIV-XV ашә.), Гьыргәал Бедиатәи - Ҭопуриӡеаа рышьҭратә шәҟәы аҿы (XV ашә. I ахԥарак), Цаишьтәии Бедиатәии Иовакиме иӡбахә уԥылоит XV ашә. 70-тәи ашықәсқәа рзы (1470-1474 шықәсқәа рзы уи Мрагыларатәи Қырҭтәыла дкаталикосхоит).

XIV-XV ашә. раан Бедиатәи аепископцәа ҳәа идыруп Антон Жуанисӡе, Кириле Жванисӡе, Герман Чхетисӡе, Николоз Мхеиӡе, Николоз Ирубақиӡе - Чолоҟашвили. Евтихи Бедиатәи дигәалаиршәоит 1689-1640 шш. рзы Одышьтәи самҭавро иҟаз Урыстәыла аҳәынҭқар Михаил Романов (1613-1645) ицҳаражәҳәаҩ адикәан Федот Елчин; Андриа Бедиатәи дигәалаиршәоит 1664-1666 шш. рзы Одышьтәи самтавро иҟаз Антиохиатәи апатриарх Макарос (1636-1672); документқәак рҿы иуԥылоит XVII ашә. 70-80-тәи шш. рзы Бедиатәи акафедра иахатәаз Габриел Чиқвани иӡбахә. Иҟоу адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи Бедиатәи аепископ иоуп амитрополит Максим (Иашвили), ихьӡ иуԥылоит 1759ш.-1761ш. рзы имҩаԥгаз ауахәаматә еизара алахәылацәа рыбжьара. Убри аамҭазы Бедиатәи аепископцәа ртәарҭа Аԥснытәи самҭавро аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟан. Убри ашьҭахь, ахыҵхырҭақәа рҿы Бедиатәи аепископцәа ртәарҭа аӡбахә иуԥыхьашәом. Аԥсуаа рекспансиа амшала уи аԥыххеит. 1770 шықәсазы еиқәыршәаз адокумент “Мраҭашәаратәи Қырҭтәыла ауахәамауаа рсиа“ аҿы Бедиа азгәаҭоуп аепископ дахьтәам ҭәарҭаны.

Алитература[аредакциазура | акод аредакциазура]

  • Бераӡе Ҭ. Аенциклопедиа „Қырҭтәыла“ т. 1, ад. 389, Қарҭ, 1997 ш.
  • Хорава. Б. Бедиатәи аепископцәа ртәарҭа, еизга „Аҭоурыхтә ҧшаарақәа“, 3, 2000