Бебиаԥҳа, Екатерина Гьаргь-иԥҳа
| Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиаԥҳа | |
|---|---|
| Екатерина Георгиевна Бебиа | |
|
Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиаԥҳа | |
| Аира |
абҵарамза 20, 1958 ш. Кәтол ақыҭа, Очамчыра араион, Аԥснытәи АССР, СССР |
| Аусура | апрофессор, ашәҟәыҩҩы, ажурналист |
| Абызшәақәа |
Аԥсуа бызшәа, аурыс бызшәа |
| Атәылауаҩра |
Асовет Еидгыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра |
| Алма-матер |
Абхазский государственный университет, Тбилисский государственный университет |
| Анашьамҭақәа |
орден «Честь и слава» III степени, Медаль «За отвагу» (Абхазия) |
Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиаԥҳа (аур. Екатерина Георгиевна Бебиа; абҵарамза 20, 1958 ш. Кәтол ақыҭа) — аԥсуа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор (2001), апрофессор, ашәҟәыҩҩы, ажурналист, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәеи ажурналистцәеи Реидгылақәа рлахәыла, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист (2013), Аԥсны иреиҳау аҵара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы (2017). Иланашьоуп «Агәымшәаразы» амедал (1995), «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара.
Абиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Кәтолтәи абжьаратә школ даналга (1965-1975) ашьҭахь дҭалеит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет (1975). Аԥшьбатәи акурс аҿы дыштәаз диаган Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет ахь (1978).
Ажурналистика азанааҭ ала Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет далгеит диплом ҟаԥшьыла (1981). Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҟны дҭалеит аспирантура ажурналистика ахырхарҭала (1984). «Аԥсны апериодикатә кьыԥхь (1904-1917)» атема ала Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҟны илыхьчеит акандидаттә диссертациа (1989). Анаука-ҭҵааратә монографиа «Аԥсны апериодикатә кьыԥхь (1904-1917» хаз шәҟәны иҭыҵит (Санкт-Петербург, 1999).
Аусура далагеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиокомпаниа аҟны (1980) Аԥсуа радио аредакторс.
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны (1981) раԥхьаӡа акәны ажурналистика иазкны алекциақәа раԥхьаразы ажәалагала ҟалҵеит. Раԥхьаӡагьы алекциақәа раԥхьара иалагаз лара лоуп. Ажурналистика иазкны раԥхьатәи арҵагатә шәҟәқәа, апрограммақәа, аметодикатә цхыраагӡақәа еиқәыршәаны рҭыжьра напы алыркит. Лара илыбзоуроуп ари ауниверситет аҟны ажурналистика аҟәшеи уи акафедреи раартра. ААУ акафедра адоцентс дыҟан (1996), Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра апрофессор ҳәа ахьӡ лхуп (2006).
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) Аԥсны атәылахьчара аминистрра арратә корреспондентс дыҟан. Аус луан аԥсуа телхәаԥшреи арадиои рҟны, иара убас аамҭаказы Москватәи арадио аканалқәа рҟны хатәы корреспондентс дыҟан. Лвидеокамереи лҭыхгеи кны аибашьра амца далсит. Аҭоурых иазынлыжьит аибашьра аамҭазтәи аудиои авидеои нҵамҭақәа жәпакы. Еизылгоз аибашьратә материалқәа рхроникеи акьыԥхь ахь иналгоз лпублицистикатә қәгыларақәеи рзы Аԥсны аинтеллигенциа Рссоциациа еиҿнакааз аицлабра «Аибашьра амшынҵа» аҟны аԥхьахә згаз дыруаӡәкхеит (1993). Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аибашьра атемала ирыланаҳәаз аицлабраҿ раԥхьатәи алауреатцәа дырхыԥхьаӡалан (1995).
Аибашьра ашьҭахь аус луан Аԥсуа телехәаԥшра атематикатә дырраҭарақәа рредакторс (1993-2018). Аԥсуа радиои ателехәаԥшреи рархив иазынлыжьит 300 радиодыррҭара, 2000 рҟынӡа ателедырраҭарақәа, адокументтә фильмқәа, ателеочкеркқәа.
Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет аҟны илыхьчеит адоктортә диссертациа (2002) «Аԥсуа радиои ателехәаԥшреи рҭоурыхтә-культуратә контекст» атемала. Амонографиа «Аԥсуа радиои ателехәаԥшреи рҭоурыхтә-культуратә контекст» хаз шәҟәны иҭыҵит Краснодар (2002). Е. Бебиаԥҳа лоуп ажурналистика азанааҭ ала аԥсуаа рҟынтә раԥхьаӡа акәны адоктортә диссертациа зыхьчаз.
2010 ш. Ҟәбантәи аҳәынҭқарртә университет ажурналистика аҭоурых акафедра апрофессор ҳәа дшьақәырӷәӷәан. Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет аҟны акандидаттәи адоктортәи диссертациақәа рыхьчара аҵарауаа Рсовет далахәын. Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика афакультет аҟны алекциақәа дрыԥхьон (2010-2015).
1981 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа апрофессор Е. Бебиаԥҳа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ажурналистика аҟәшаҿы алекциақәа дрыԥхьоит еиуеиԥшым амаҭәарқәа рыла.
Е. Бебиаԥҳа данстудентыз далахәын В.П. Анқәаб напхгара зиҭоз алитературатә кружок. Ажәеинраалақәа лыҩуан, илкьыԥхьуан ажурнал «Алашара» аҟны (1975-1983). Ашьҭахь ажурналистика лҽалылкит. Хыԥхьаӡара рацәала лстатиақәеи, лочеркқәеи, лышәҟәқәеи, арадиои ателехәаԥшреи рзы лматериалқәеи рызкуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) аветеранцәеи, 1930-тәи ашықәсқәа раан харада ахара зыдҵаны идырӡызи, еиҳаракгьы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992-1993) Аԥсадгьыл ахьчаҩцәеи, ахақәиҭра зхы ақәызҵази, иара убас аԥсуа милаҭтә культура аусзуҩцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи, аҵарауааи (Н.А. Лакоба, С.И. Ҷанба, В.И. Кәыкба, А.К. Ҳашба, Б.У. Шьынқәба, Н.Ҷ. Ҳашыг, А.Б. Возба, Н.З.Ҭарба, Ш.Хә. Ԥлиа, Б.М. Ҭыжәба, Е.Ф. Басариа, Гә.В. Сақаниа). Автос дрымоуп апублицистикатә шәҟәқәа жәпакы (аԥсышәалеи урысшәалеи), аҭҵаарадырратә монографиақәа хԥа.
Абиблиографиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ишәаҳәо анацәкьарақәа. Аочеркқәа. Аҟәа, 1986.
- Ицон аишьцәа еибашьра… Аҟәа, 1989.
- Асабицәа рыҵәаабжь. Аҟәа, 1995.
- Ҟәланырхәаа рҵеицәа хьӡырҳәагақәа. Аҟәа, 1995.
- Силой не возьмешь крылатых. Очерки, статьи, интервью. Санкт-Петербург, 1996.
- Уҵеицәа хьӡырҳәагақәа, Кәтол. Аҟәа, 1996.
- Периодическая печать Абхазии. Монография. Санкт-Петербург. 1997.
- Дорогами героев. Киев, 1997.
- Крик малышей. Киев. 1997.
- Аибашьра иԥнашәаз афырхацәа. Аҟәа, 1997.
- Люди из брони. Сухум-Москва. 1998.
- Неугасающий огонь. Краснодар, 2000.
- Угли родного очага не гаснут. Аҟәа, 2000.
- Хьӡы ргарцоуп ахацәа зиуа. Адокументтә повест. Аҟәа. 2000.
- Аԥышәара. Аҟәа, 2000.
- К штыку прировняв перо… Аҟәа, 2002.
- Время и люди. Краснодар. 2002.
- Абхазское радио и телевидение в историко-культурном контексте. Краснодар, 2002.
- Строки из огня. Аҟәа, 2003.
- Аҩн-ду ааӡамҭацәа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа. Аҟәа, 2005.
- Мир ученого. Аҟәа, 2005.
- Из истории СМИ Абхазии. - Зыԥсы ҭоу абаҟа. Аԥсны амасса информациатә хархәагақәа рҭоурых аҟынтә. Москва, 2008.
- Штрихи из жизни журналиста. Аҟәа, 2008.
- Ажурналисттә ҟазара. Арҵагатә шәҟәы. Аҟәа, 2008.
- Грани таланта. Ашәаҳәаҩ ҟаза. Б.А. Амҷба изку адокументтә повест. Шәача, 2008.
- Стойкость. (посвященная героической женщине Т. Авидзба-Эзугбая). Сухум- 2009.
- Константин Озган. Адокументтә повест. Аҟәа, 2009.
- Избранные (очерки). Сухум-Анкара. 2010.
- Наш генерал Султан Сосналиев. Анкара. 2010.
- Книги, написанные сердцем. Москва, 2010.
- Ахьышьҭрахь ахынҳәра. Аҟәа, 2011.
- Новый Афон. Адокументтә-публицистикатә шәҟәы. Сҭампыл, 2010.
- Золотой памятник Абхазии – Бзыпта. Асахьаркыратә-публицистикатә очерк. Анкара, 2010.
- Лучи солнечной Абхазии. Анкара, 2012.
- Амца иалгоу авидеонҵамҭақәа. Аибашьраантәи ажурналист лвидеоҭыхымҭақәа рыхҳәаа ала ишьақәгылоу ашәҟәы. Анкара, 2012.
- Журналистика ХХI века: истоки, система, динамика. Е. Бебиаԥҳа лиубилеи иазкуп. Ҟубантәи аҳәынҭқарратә университет, Краснодар, 2013.
- Арҵаҩы, аибашьра, аҭынчра… Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз арҵаҩцәа ирызкуп. Аҟәа, 2013.
- Алыԥшаахқәа. Лучшие из лучших. (Аԥсышәалеи урысшәалеи). Краснодар, 2015.
- Инагоу ахьыӡқәа. (Аԥсны иналукааша ауаа ирызку аилкаанҵақәа). Краснодар, 2017.
- Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет. (Афакультет аҭоурыхтә мҩа аарԥшра иазкуп). Ашәҟәы лыциҩит апрофессор О.П. Ӡиӡариа), Аҟәа-Сҭампыл, 2017.
- Бебиаа ҳабшьҭра (аҭоурыхтә-документалтә повест). Аҟәа-Краснодар, 2018.
- Сгәы иахылҵуа ашәахәақәа (ажәеинраалақәа, асценари, игәылыршәоу ахшыҩҵакқәа). Аҟәа-Краснодар, 2018.
- Сара сдунеи (ажәеинраалақәа, аԥсҭазааратә жәабжьқәа, асценари, игәылыршәоу ахшыҩҵакқәа, астатиақәа). Аҟәа-Краснодар, 2018.