Перейти к содержанию

Басариаԥҳа, Еҭери Фиодор-иԥҳа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Еҭери Фиодор-иԥҳа Басариаԥҳа
Этери Федоровна Басария

Еҭери Фиодор-иԥҳа Басариаԥҳа
Аира рашәарамза 31949 ш.
Кәтол ақыҭа, Очамчыра араион, Аԥснытәи АССР
Аԥсра лаҵарамза 132013 ш.
Украина, Киев
Аусура аԥсуа шәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ
Абызшәақәа аурыс бызшәа,
Аԥсуа бызшәа
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла,
Украина,
Аԥсны Аҳәынҭқарра
Алма-матер Московский государственный университет,
Литературный институт
Анашьамҭақәа литературная премия имени Владимира Короленко

Еҭери Фиодр-иԥҳа Басариаԥҳа (аур. Этери Федоровна Басария; рашәарамза 31949 ш., Аԥсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭа – лаҵарамза 132013 ш., Украина, Киев) – аԥсуа шәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ. Акыр шықәса Киев дынхон. СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далан (1979), иара убас Украина ашәҟәыҩҩцәа Рмилаҭтә Еидгыла (1992), Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла (2003). В. Г. Короленко (1999), Н. Гоголь (2008), И. Долгоруки (2008) рыхьӡқәа зху апремиақәа ланашьан. Дыҩуан урысшәала.

В. М. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университети (1972), А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институти (1973) дрылгеит. Аус луан Москва, акибернетика аинститут апресс-центри, ажурнал «Кибернетикеи» (1980ш. азынӡа) рҟны. Аамҭак азы Аԥсуа радио адикторс дыҟан. 1989-1999 шш. раан агазеҭ «Труд» акорреспондент ҷыдас аус луан. 2000-2002 шш. рзы ажурнал «Доктор» аредакторс даман. 2002-2004 шш. рзы акәзар, агазеҭ «Правда Украины» аҟәша деиҳабын.

1972 ш. инаркны лҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа «Юность» (ара икьыԥхьын раԥхьатәи лажәабжь), «Радуга», «Алашара» (аурысшәахьтә аиҭагақәа), «Абаза», украинатәи апериодикатә ҭыжьымҭақәа уҳәа егьырҭгьы.

Иҭлыжьит ароманқәа «Взгляд поверх ворот, выходящих на луг», «На перекрестке», «Ги во владениях обра», аповестқәа «Хуторяне», «Первые километры»; ажәабжьқәа «Нар», «Жил-был Ковбой», «И говорили они до утра», «На нашей стороне», «Память дорог», «Дождливым воскресеньем», «Балагур», «Греби к берегу, парень!», «Под скрип маленького колеса», «У порога», «Снег для полей», «Тяжесть виноградных гроздьев», «Когда созревают арбузы», «Дорога», уҳәа егьырҭгьы. Лҩымҭақәа реиҳарак еидукылар ауеит «алирикатә проза» ахьӡҵаны.

Жәохә инареиҳаны ашәҟәқәа дравторуп.

Аурысшәахь еиҭалгеит Б. У. Шьынқәба ироман «Ахаҳә еиҩса» аҩбатәи ашәҟәы, В. Џь. Амаршьан иҭоурыхтә роман «Аԥсҳа» (иҭыжьуп Аҟәа, 2003, «Леон Апсха» ахьӡны, аҩбатәи аҭыжьымҭа иахьӡуп «Апсха», Аҟәа 2012).

Е. Басариаԥҳа лырҿиамҭақәа жәпакы, аԥсуа, аиталиан, аукраин, анемец бызшәақәа рахь еиҭагоуп. Авторс дрымоуп иара убас аԥсуа поетцәа ( И. А. Коӷониа, Г. Шь. Аламиа, Т. Шь. Аџьба уҳәа) ирызку астатиақәа.

  • урысшәала: Птицам — небо. Рассказы. Сухуми, 1975.
  • На нашей стороне. Рассказы. Киев, 1977.
  • Великан и дельфин. Сухуми, 1979.
  • Первые километры. Рассказы и повести. М., 1980.
  • Реджеб и его родичи. Повесть и рассказы. Киев, 1982.
  • Взгляд поверх ворот, выходящих на луг. Роман. Киев, 1985.
  • И говорили они до утра. Рассказы, повести. М., 1986.
  • Щадящий режим. Повести и рассказы. Киев, 1988.
  • Дыдын и Мыдын. Сказки. Для младшего школьного возраста. Киев, 1988.
  • На перекрестке. Роман, повести, рассказ. Киев, 1989.
  • Нар. Книга рассказов. Сухуми, 1990.
  • Живая ветвь. Харьков. 1990.
  • Ги во владениях Обра. Киев, 2004.
  • Собрание: В 2-х томах. Сухум, 2011.
  • аԥсшәахь аиҭагақәа: Абас адгьыл аншу. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1980.