Аԥсҭазаара

Аԥсҭазаара (алаҭ. vita) – афилософиеи абиологиеи хадара злоу реилкаара ауп – хымԥада “зыԥсы ҭоу ацәаҩақәа” змоу, аира инаркны аԥсранӡа аматериа аԥсҭазаашьа иактивтә формоуп; ацәеижь аҟны имҩаԥысуа афизикатәи ахимиатәи процессқәа иреиқәшәарҭоуп, ахәҭаҷқәа реиҭныԥсахлареи, аихацқәа реихшареи реиҵыҵреи алзыршо.[1][2][3] Адәахьтәи адунеи аҽанраало, зыԥсы ҭоу аихац зыԥсы ҭоу зегьы рыхкырацәара шьақәнаргылоит (аихац анҭыҵ аԥсҭазаара ыҟаӡам, авирион агенетикатә хәҭаҷ аихацахь ианиагахалакь ауп авирусқәагьы зыԥсы ҭоу акы ахаҿра анаархәо). Аԥсы аҭазаара ихадоу ахаҿырбага – арепликациазы хархәара змоу агенетикатә жәабжь.
“Аԥсҭазаара” аилкаара еиҳа ииашаны иаарԥшызар ауеит аԥсы аҭамзаара излеиԥшым ацәаҩақәа реиқәыԥхьаӡарала. Уажәтәи аамҭазы аԥсҭазаара закәу ҳәа еицырзеиԥшу гәаанагарак ыҟам, аха аҵарауаа иазгәарҭоит аԥсҭазаара абиологиатә хыҵхырҭақәа рҟазшьақәа злаарԥшу: еиҿкаашьала (ҩаӡара ҳаракыла ашьақәгылара), метаболизмла (амчхара адәахьтәи аԥсабара аҟнытә аиуреи ахатә шьақәгылара аиқәырхареи арӷәӷәареи рзы уи ахархәареи), еизҳарыла (аҿиаразы амчхара), ҽанрааларыла (изну аԥсабара аҽанраалара), аԥықәслаҩцәа аҭак рыҭара (акәша-мыкәша иҟоу аԥсабара анырра), хылҵшьҭрала (зыԥсы ҭоу зегьы ахҭылҵ рымоуп) , еволиуциала. Агенетикатә жәабжь, зыԥсы ҭоу зегьы рзы ихымԥадатәу, ацәеижь аҩнуҵҟа иалаӡҩоит, ахромосомақәа ирылоуп, ахылҵшьҭрақәа досу ироууеит. Иара убас аԥсҭазаара ацәеижь аҭагылазаашьа иахаҿырбагоуп ҳәа ҳҳәар ауеит.
Иара убас аԥсҭазаара ахьӡуп хазы игоу ԥсцәеижьк аира инаркны аԥсраҟынӡа иҭанагӡо аамҭатә цыԥҵәаха.[4]
Ашьақәырӷәӷәагақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аилкаара “аԥсҭазаара” иамоуп шәкы инареиҳаны ашьақәырӷәӷәагақәа, урҭ рахьтә ирацәоуп ҵакыла еиҿагылоу. Аԥсҭазаара аилкаара закәу шьақәырӷәӷәазар ауеит абас еиԥш иҟоу ажәақәа рыла: “асистема”, “ажәабжь ауадаҩра”, “(ахаҭа-)хылҿиаара”, “аеволиуциа”, “апроцесс” уҳәа.
Аурыс хылҵшьҭра змаз Израильтәи агенетик Едуард Трифонов аԥсҭазаара ашьақәырӷәӷәагақәа 123 ҭиҵааит. Трифонов урҭ аилкаарақәа рлингвистикатә шьақәгылашьа ҭиҵаан хәҭа-хәҭала еихишеит. Урҭ рыхкырацәара Трифанов азеиԥш гәыцә албааны алкаа еилацала аҟаҵара илшеит. Иара ишьақәирӷәӷәеит азнеишьақәеи аҳәашьақәеи зегьы џьарак ишеиԥшу: аԥсҭазаара – “аҽыԥсахра змоу хаҭахылҿиаароуп” англ. Life is self-reproduction with variations.[5][6]
Фридрих Енгельс абас иҳәеит: “Аԥсҭазаара ари абелоктә цәеижьқәа рыԥсҭазаашьа ауп, уи кры зҵазкуа ганс иамоуп адәахьтәи аԥсабареи дареи ҵыхәаԥҵәарада ахәҭаҷқәа реиҭныԥсахлара, ари ахәҭаҷқәа реиҭныԥсахлара шаангылазҵәҟьа аԥсҭазаарагьы нҵәоит, абелок ахыбгаларахьы иагьнанагоит.[7]
Аԥсҭазаара анҭыҵынтәи иааиуа амчхара аныхрала ицо амолекулатә шьақәгылашьа ацхраареи ахалаҟалареи ҳәа иалкаазар ауеит.[7]
Аурыс ҵарауаҩ М.В. Волькенштеин аԥсҭазаара аилкаара ҿыц азԥиҟеит: «Адгьыл иқәу зыԥсы ҭоу зегьы абелокқәеи ануклеинтә кислотақәеи - абиполимерқәа рыла иргылоу, иаарту , зхала зхы шьақәзыргыло системоуп.[8]
Атанатологиа ашьаҭаркҩцәа иреиуоу М. Биш игәаанагарала, аԥсҭазаара – аԥсра иаҿагылоу ацәырҵрақәа реизакра ауп.
Атермодинамика аҩбатәи алагамҭа излаҳәо ала, аԥсҭазаара – ахатәы ентропиа (см. Аԥхарратә ԥсра) аиҵахара иазырхоу, адунеи аҟны «зыԥсы ҭам» ахәҭаҷқәа ирҿагылоу ахырхарҭала иҿио процессуп, мамзаргьы системоуп.
Аурыс енциклопедиа Ду иану астатиаҿы академик Е.М. Галимов аԥсҭазаара “ахимиатә ҭоурых иалкаау аҭагылазаашьақәа рҟны ауглеродқәа реилалара зцырҟьо , еизҳауа, еишьҭанеиуа аихшарақәа ԥсызхоу рҟны алыршара” ҳәа дахцәажәоит.[9] Ԥсызхоу зегьы ирҟазшьоуп ахьыԥшымра, ахылҵшьҭра, аиреи аԥсреи, адәахьтәи аԥсабара амчхареи ахәҭаҷқәеи амдара абзоурала аҟазаара, аиҭакрақәеи аҽанраалареи алшара, адыргақәа рыдкылараеи аҭак рзыҟаҵареи алшара.
В.Н. Пармон абасала ишьақәирӷәӷәоит: “Аԥсҭазаара — аус зуа автокатализаторқәа реицыҟазаара иаформоуп, ахимиатә мутациақәа ирзыхиоу, иԥсабаратәу алхра абзоурала кыр зымҽхак ҭбааз аеволиуциа зхызгаз.[10]
Константин Северинов “аҵыхәтәанӡа, ииашоу аӡбамҭақәа рыдкылаара иазҵаароуп” ҳәа ахиҳәааит аԥсҭазаара.[11]
Онсагери Моровицу[англ.] изларҳәаз ала: “Аԥсҭазаара аматериа иацәаҩоуп, аӡаҟны абиоелементқәа еидҳәалоу реикәшара зхылҿиаауа, аҵыхәтәанӡа, ауадаҩра аизырҳара амҩала ицо амра ашәахәақәа рымчхара имҩақәнаҵо”.
Иҟоуп иара убас аԥсҭазаара акибернетикатә шьақәырӷәӷәарагьы. А.А. Лиапунов иажәақәа рыла, аԥсҭазаара — “ аҩныҵҟатәи амолекулатә закәанқәа ирықәныҟәаны ахеиқәырхареи аҽанраалареи зҟазшьоу иуадаҩу системоуп”.
1994 шықәсазы NASA излашьақәнарӷәӷәаз ала, аԥсҭазаара — “дарвин иеволиуциазы алшара змоу, зхала зхы иацхраауа химиатә системоуп”.[12]
Ервин Шриодингер , “Изакәызеи аԥсҭазаара?” захьӡу ишәҟәаҿы аԥсҭазаара абас еиԥш дахцәажәоит: “аԥсҭазаара — аматериа еилкаау азакәанқәа ирықәшәо ахымҩаԥгашьа ауп, аилыххара ахьынтә аилататарахь аиасра мацарала акәымкәа, еснагь еиқәырхоу аилыххара аҟазаарагьы абзоурала зышьаҭа ку.
Аԥсҭазаара аҟалара
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Аԥсҭазаара аҟалара
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Адгьыл аҟны аԥсҭазаара ацәырҵра аганахьала еиуеиԥшым агәаанагарақәа аҭыԥ рыман:
- Гипотеза сотворения Ашара агипотеза (шәахә. Аккреоцинизм)
- Ахаҭахылҵра агипотеза
- Аԥсҭазаара астационартә ҭагылазаашьаа агипотеза
- Абиохимиатә еволиуциа агипотеза
- Аӷьаӡзегь агипотеза
Ахаҭахылҵреи астационартә ҭагылазаашьеи ргипотезақәа аҭоурыхтәи афилософиатәи интерес мацароуп ирыҵоу, избан акәзар аҭҵаарақәа рылҵшәақәа урҭ аҿаԥырҽуеит.
Аурыс енциклопедиа Ду излаҳәо ала, аԥсҭазаара Адгьыл аҟны ацәырҵра иазку хадара злоу ҳааамҭазтәи агипотезақәа иреиуоуп абиохимиатә еволиуциеи аӷьаӡзегьи ргипотезақәа. Аха аҵыхәтәантәи атеориа аԥсҭазаара ацәырҵра апроблемақәа заӡбаӡом[13]
Зыԥсы ҭоу асистема
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Зыԥсы ҭоу асистема
Зыԥсы ҭоу асистема — зхаҭа зхы еиҿызкаауа, ахаҭахылҿиаара зылшо, адәахьтәи аԥсабара ианыруа, аҷыда ҟаазшьарбақәа змоу аелементқәа рыла ишьақәгылоу ҽеизгароуп.
Аҭҵаарадырраҿы иҟоу агәаанагара излаҳәо ала, зыԥсы ҭоу ауаа рыла ишьақәгылоу асистема, иаҳҳәап аекономикатә, мамзаргьы асоциалтә системақәа реиԥш, зыԥсы ҭоу аорганизм еиԥшызтәуа аҟазшьақәа жәпакы амоуп. Ари зхатә еихацқәеи, ахәҭаҷқәа реимдареи, анервтә системеи змоу зыԥсы ҭоу аԥҵамҭоуп. Иара аҩныҵҟа еиуеиԥшым ауаажәларратә институтқәа ацәеижьхәҭақәа рроль нарыгӡоит, дара рыцыԥхьаӡа ацәеижь зегьы аԥсы ҭазҵо иҷыдоу аус ҟарҵоит. Иаҳҳәап, ар аиммунносистема еиԥш аус ауеит, ацәеижь анҭыҵынтәи ақәылара иацәыхьчо. Аиҳабыра ахшыҩ еиԥш аус ауеит, амҩақәҵареи аӡбареи алнаршоит. Ари ахшыҩзцара антикатә аамҭазгьы абырзен философ Аристотель иҳәахьан.
Аҭҵаарадырра аҿиарамҩаҿы аорганизмқәа механикала рыхәаԥшра иаҟәыҵит. Зыԥсы ҭоу асистемақәа рыҭҵаараҿы аҵарауааа апроцессқәа рыхкырацәара хзыҩзышьҭра арҭоит, зыцхыраарала асистема еснагь зҽызыԥсахуа адәахьтәи аҭагылазаашьа аҽанарнаало. “Ауадаҩра атеориаҿ” еизгоу ахшыҩҵакқәеи аметодқкәеи рырацәара, аорганизмқәа сҽеиҿызкаауа аҽанрааларатә системақәа раҳасабала реилкаарахь инанагеит. Ас еиԥш иҟоу асистемақәа рҟны апроцессқәа еизакӡам, ишьақәыргылаӡам иара убас еснагь рҽырыԥсахуеит. Иуадаҩу ашьцыларатә хымҩаԥгашьа арҭ асистемақәа ирныԥшуеит хазы игоу ахәҭаҷқәа русеицураан. Амҩақәҵара хазы игоу аблок ахьазалху амодельқәа, иҵабыргу асистемақәа реиҳарак рзы иахьынӡаҭаху иманшәалам ҳәа ирзыԥхьаӡан.
Зыԥсы ҭоу асистемақәа рзеиԥш ҟазшьарбагақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Еволиуциала иҿио, зыԥсы ҭоу асистемақәа зегьы ирзеиԥшу реиҳа иалкаау аҟазшьарбақәа — ахимиатә еилазаара азеиԥшра, ахылҵшьҭраныжьра (абиԥареибаркреи аҽыԥсахреи), агенетикатә код амазаара, аизҳареи аҿиареи, аметаболизм (ахәҭаҷқәа реимдара), агомеостаз аиқәырхара (аорганизм аҩныҵҟатәи ашьақәгылашьа аҽеиҭамкра), аҭакҟаҵара (адәахьтәии аҩныҵҟатәии аныррақәа рҭакҟаҵара).[14]
Ахәҭаҷқәа реимдара
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Ахәҭаҷқәа реимдара
Ахәҭаҷқәа реимдара (аметаболизм) — ари зыԥсы ҭоу ацәеижь аҟны аԥсҭазаара аиқәырхаразы ицәырҵуа ахимиатә ҭакҟаҵарақәа роуп. Арҭ апроцессқәа ацәеижьқәа алшара рырҭоит аизҳаареи аҿиареи, рхатә структура аиқәырхареи анҭыҵтәи аныррақәа аҭак рыҭареи рзы.
Абжьааԥны аметаболизм аҟны ҩ-ҭагылазааашьак алыркаауеит: акатаболизми анаболизми. Акатаболизм аан иуадаҩу аорганикатә хәҭаҷқәа еиҳа имариоу рҟынӡа илаҟәуеит, амчхара рхылҵны. Анаболизм аан акәзар еиҳа имариоу ахәҭаҷқәа еиҳа иуадаҩу рахь ииасуеит, уигьы амчхара аныхра ацуп.
Ахылҵшьҭраныжьра
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Ахылҵшьҭраныжьра
Зыԥсы ҭоу ацәеижьқкәа зегьы аԥсҭазаара аԥымҵәареи аимдареи алзыршо дара иреиԥшу ахылҵ ааныжьра рҟазшьоуп. Ахылҵшьҭраныжьра еиуеиԥшым алыршашьақәа ҩ-хкыккны ишоуп: абдызмоуи абыдеи ҳәа. Аихацтә еиҿартәышьа змоу аорганизмқәа рзы ахылҵшьҭранышьра ахкқәа зегьы аихац аҽшара шьаҭас ирымоуп.
Аԥсҭазаара аиҿкаара аҩаӡарақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Аԥсҭазаара аиҿкаашьа аҩаӡарақәа
Лассы-лассы иалыркаауеит аԥсҭазаара аиҿартәышьатә ҩаӡарақәа ааба:
- амолекулатә,
- аихацтә
- арахәыцтә
- аоргантә
- организмаорганизмтә
- апопулиациа-хкытә
- биогеоценозабиогеоценозтә
- абиосфератә
Шамахамзар, арҭ аҩаӡарақәа рыцыԥхьаӡа еиҵоу аҩаӡара аподсистемақәа ишьақәдыргыло системоуп, иара убасгьы еиҳау аҩаӡара асистема иаподсистемоуп.[15]
Зыԥсы ҭоу асистемақәа рышьақәгылареи рыуадаҩреи
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аԥсҭазаара — ахимиатә компонентқәа рырацәареи рыуадаҩреи ала, насгьы зыԥсыҭоу ахаҿраиура зламҩаԥысуа адинамикеи рыла аматериа аҟазаара егьырҭ ахкқәа хаҭабзиарала ираԥысуеит. Зыԥсыҭоу асистемақәа аҭагылазаашьеи аамҭеи рҟны зыҩаӡара ҳараку структуратә еиҿкаашьала иалкаауп.
Зыԥсыҭоу асистемақәа адәахьтәи аԥсабара амчхареи, ахәҭаҷи ажәабжьи амнадоит, абасала иаарту системақәаны иагьаанхоит. Убри аан, зыԥсыҭам асистемақәа рҟны еиԥш урҭ рҟны еиҳа иалыршазар ауа аформақәа рганахь амчхаратә еиԥшымзаарақәа реиҟаратәреи аструктурақәа рыԥсахреи мҩаԥысӡом, иааиԥмырҟьаӡакәа «аибакапанра иаҿагылоу» аусура мҩаԥысуеит. Уи ала ишьақәгылоуп имцу агәаанагара, зыԥсыҭоу асистемақәа атермодинамика аҩбатәи азакәан аҳәатәы ханаҵаӡом ҳәа зҳәо. Аха аентропиа зыԥсыҭоу асистемақәа рҟны аиҵахара адәахьтәи аԥсабараҟны аентропиа ахагалара абзоуралоуп ишалшо (анегентропиа), ус анакәха аентропиа ацлара иаҿуп, уи ҳәарада атермодинамика аҩбатәи азакәан иашьашәалоит.
Аорганизм
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Аорганизм
Аорганизм—ԥсызхам еиԥшымкәа иҟазҵо ацәаҩақәа реизга змоу ԥсызхоу цәеижьуп. Аорганизм — аԥсҭазаара иарбага хадоуп, уи аҟазшьақәа амаҵәҟьоуп, избан акәзар аорганизм аихацқәа рҟны мацароуп аԥсҭазаара апроцессқәа ахьымҩаԥысуа. Хазы игоу цәеижьк аҳасабала аорганизм ахки апопулиациеи ирылоуп, аԥсҭазаара апопулиациа-хкытә ҩаӡаразы иструктуратә акуп.
Аорганизмқәа — абиологиаҿы иҭырҵаауа хадаразлоу амаҭәарқәа иреиуоуп. Иманшәаланы аҭҵааразы аорганизмқәа зегьы еиуеиԥшым агәыԥқәеи акатегориақәеи рыла еихыршоит, уи абзоурала абиологиатә системагьы шьақәгылахоит. Зегь реиҳа еицырзеиԥшу еихшароуп агәыцә змоуи измами ҳәа реихшара. Организм шьақәзыргыло аихацқәа рхыԥхьаӡарала урҭ еихыршоит асистеманҭыҵтәи еихацктәи акатегориеи аихацрацәатәиқәеи ҳәа. Урҭ рыбжьара иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит еихацктәи рколониақәа.
Еизаку аихацрацәатәи аорганизм ашьақәгылара — аструктурақәеи, (аихацқәа, арахәыцқәа, ацәеижьхәҭақәа) афункциақәеи, урҭ аонтогенез аҟны ралагалареи рдифференциахарала ишьақәгылоу процессуп. Аорганизмқәа жәпакы ахкыҩныҵҟатәи аилазаарақәа рҟны еиҿкаауп (иаҳҳәап, аҭаацәара мамзарагьы аусуратә еилазаара ауаа рҟны).
Ԥсызхоу рыхкырацәара
[аредакциазура | акод аредакциазура]
- Ихадароу астатиа: Ԥсызхоу аԥсабара атаксономиа
Ԥсызхоу рдунеи миллионла ахкқәа аҵанакуеит. Уи ԥсызхоу зегьы рыхкырацәара абиологиатә систематика иҭнаҵаауеит, хықәкы хадасгьы иамоуп аорганикатә дунеи асистема ашьақәыргылара. Ԥсызхоу аԥсабара уажәы абжьааԥны аҳрақәа ааба рыла еихыршоит: аҿкқәа, апротистқәа, археиақәа, ахрромистқәа, абактериақәа, акәыкәбаақәа, аҵиаақәа, аԥстәқәа. Ихадоу атаксономиатә рангқәа ааба рбиологиатә еихшашьа аишьҭанеишьа. Аԥсҭазаара адоменқәа рыла еихшоуп, урҭ анаҩс еихшоуп агәыԥқәа рыла. Абжьаратә категориақәа арбаӡам.
Ԥсызхоу аԥсабара абиосфера шьақәзыргыло аекосистемаҿы еиҿкаауп.
Ахымҩаԥгара
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Ахымҩаԥгара
Ахымҩаԥгара — аԥстәқәа аҩнуҵҟатәии адәахьтәии аҭагылазаашьақәа ирышьашәаланы иҟарҵо анырыԥсахуа ауп, аиҿкаара аԥстәы хкы иаҷыдаҟазшьоуп. Ахымҩаԥгара анрааларатә ҵак дуӡӡа амоуп, аԥстәқәа адәахьтәи аԥсабара иҽеим аныррақәа ирыцәнарцоит. Аихацрацәатә организмқәа рҟны ахымҩаԥгара анервтә система ахылаԥшуеит.[16][17][18]
Аҵиаақәеи абактериақәеигьы адәахьтәи аныррақәа рыбзоурала рҽеиҿкааны аиҭаҵрақәа рылшоит (атаксис). Ҿырԥштәыс иҟоуп ажәҩангәыԥштәыиаҵәа ӡҭиаақәа, абактериақәа рфотои- рхемотаксисқәеи.[19]
Иреиҳау аҵиаақәагьы иара убас аиҭаҵра амчхара иалхәыдам. Ибзианы еилкаауп аҵиаақәа рниктинастиақәа — амши аҵхи реиҭныԥсахлара аҵыхәала ашәҭыцқәа раатреи ракреи, абӷьыцқәа рфототропизмқәа, аԥстәқәа рышьҭаашәарыцараан аҵиаақәа рныҟәара, адацқәа ргидрои- рхемотропизми.[20][прим. 1]
Иага ус иҟазаргьы, аҵиаақәа рныҟәара амеханизмқәа афизиологиатә ҟазшьа мацара рымоуп азы, урҭ ахымҩаԥгареи апсихикеи рымоуп ҳәа ҳазҳәом. Апсихологиаҿы аҵиаақәа рныҟәара аныԥшра апсихиканӡатәи аҩаӡара иахырыԥхьаӡалоит.
Ахымҩаԥгара, апсихика еиԥш акәымкәа, хаҭала уацклаԥшыр ҟалоит, аҭҵаарадыррақәа рыхкы рацәа маҭәарсгьы ирымоуп, апсихологиеи, аетологиеи, азоопсихологиеи, аиҿырԥшратә психологиеи инадыркны ахымҩаԥгатә екологиа аҟынӡа.
Абиологиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Абиологиа
Абиологиа — аԥсҭазаара (ԥсызхоу аԥсабара) иазку ҭҵаарадырроуп, зыԥсыҭоуи урҭ адәахьтәи аԥсабара ишамадоуи ҭызҵаауа анаукақәа иреиуоуп. Абиологиа аԥсҭазаара аганқәа зегьы ҭнаҵаауеит, аиҿкаашьа, аусушьа, аизҳара, ахылҵшьҭра, аеволиуциа, Адгьыл аҟны ԥсызхоу зегьы реихшара уахь иналаҵаны. Ԥсызхоу зегьы еихнашоит иагьрыхцәажәоит, урҭ рыхкқәа ахьынтәааз, дара-дара шеигәныҩуа насгьы аԥсабара ишаныруа.
Иҷыдоу аҭҵаарадырра аҳасабала абиологиа аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа ирылҵит XIX ашәышықәсазы, ԥсызхоу зегьы еицырзеиԥшу ҟазшьарбақәак шрымоу аҵарауаа иангәарҭа инаркны. Атермин “абиологиа” авторцәа дара дара имеихьыԥшыкәа иаларгалеит: Фридрих Бурдах 1800 шықәсазы, Готфрид Реинхольд Тревирануси Жан Батист Ламарки 1802 шықәсазы.[21]
Ҳаамҭазтәи абиологиа ашьаҭаҿы хадаразлоу апринципқәа хәба ыҟоуп: аихацтә теориа, аеволиуциа, агенетика, агомеостаз, амчхара. Ҳаамҭазы абиологиа — адунеи зегьы ахьынӡанаӡааӡо абжьаратәи иреиҳау аҵараиурҭақәеи рҟны ихымԥадатәу маҭәаруп. Есышықәса абиологиеи, амедицинеи абиомедицинеи ирызкны миллионла анҵамҭақәеи ашәҟәқәеи ҭыҵуеит.[22][23][24]
Абиологиаҿы иалыргаауеит анаҩстәи аиҿкаараатә ҩаӡарақәа:
- Аихацтә, асубеихацтә, амолекулатә ҩаӡара: аихацқәа амолекулақәа рыла ишьақәгыло аихацҩнуҵҟатәи аструктура рымоуп.
- Ацәеижьтәи ацәеижь-рахәыцтәи аҩаӡара: аихацрацәа змоу ацәеижьқәа аихац арахәыци аорганқәеи ишьақәдыргылоит. Аорганқкәа ракәзар, аорганизм зегьы аҳәаақәа рыҩнуҵҟа аус еицыруеит.
- Апопулиаациатә ҩаӡара: дгьылцыԥҵәахак еицықәынхо, хкык иаҵанакуа ахылҵқәа, апопулиациа еиҿыркаауеит.
- Ахкытә ҩаӡара: абиологиатә хкы шьақәдыргылоит рхы иақәиҭны еибакуа ахылҵқәа, аморфологиатә, афизиологиатә, абиохимиатә еиԥшызаарақәа змоу, дгьылҵакыракгьы еицнызкыло.
- Абиогеоценотикатәи абиосфератәи ҩаӡара: адгьыл ацыԥҵәахаҿы абиогеоценозқәа шьақәгылоит, урҭ анаҩс аабиосфера шьақәдыргылоит.
Абиологиатә ҭҵаарадыррақәа реиҳарак зхырхарҭа ҭшәоу дисциплинақәоуп. Ишаԥу еиԥш урҭ иҭырҵаауа аорганизмқәа рыхкқкәа рыла еихыршоит: аботаника аҵиаақәа ҭнаҵаауеит, азоологиа — аԥстәқәа, абиологиасса — еихацк змоу аорганизмссақәа. Абиологиа аҩнуҵҟа ахәҭақәа иҭырҵаауа ашәагаала, мамзаргьы хархәара зырҭо азнеишьақәаа рыла рҽыршоит: абиохимиа аԥсҭазаара ахимиатә шьаҭақәа ҭнаҵаауеит, амолекулатә биологиа — абиологиатә молекулақәа реизыҟазаашьа уадаҩқәа ҭнаҵаауеит, аихацтә биологиеи ацитологиеи — аихацрацәа змоу аорганизмқәа хадаразлоу рыргыларатә блокқәа, аихацқәеи, агистологиеи анатомиеи — аилаԥақәеи аорганизми хазы игоу аорганқәеи аилаԥақәеи рыла рышьақәгылашьа, афизиологиа — аорганқәеи аилаԥеи рфизикатәи рхимиатә лшарақәа, аетологиа — ԥсызхоу рхымҩаԥгашьа, аекологиа — еиуеиԥшым аорганизмқкәеи адәахьтәи аԥсабареи реихьыԥшра.
Агенетика шьҭрала ицо аинформациа ҭнаҵаауеит. Аизҳазыӷьара абиологиа иҭнаҵаауеит ааорганизм аонтогенез аҟны аизҳазыӷьара. Ԥсызххоу аԥсабара аиреи ҭоурыхла аҿиареи — апалебиологиеи аеволиуциатә биологиеи.
Еишьашәало аҭҵаарадыррақәа рҳәаақәа рҟны ицәырҵуеит: абиомедицина, абиофизика (физикатә знеишьала зыԥсы ҭоу рыҭҵаара), абиометриа уб. иҵ. Ауаҩытәыҩса ипрактикатә ҭахрақәа инарықәыршәаны акосмостә биологиа, асоциобиологиа, аџьаус афизиологиа, абионика реиԥш иҟоу ахырхарҭақәагьы цәырҵуеит.
Иԥсабаратәым аԥсҭазаара
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Иԥсабаратәым аԥсҭазаара
Иԥсабаратәым аԥсҭазаара — аԥсҭазаара, зыԥсы ҭоу асистемақәеи урҭ револиуциеи ауаҩы иаԥиҵаз амодельқәеи ахархәагақәеи рыбзоурала рыҭҵаароуп. Аҭҵаарадырра ари аган зыԥсыҭоу асистемақәа зегьы ирҟазшьоу апроцессқәа рмеханизм ҭнаҵаауеит, урҭ рыԥсабара зеиԥшразаалакгьы. Ари атермин еиҳарак аԥсҭазааратә процессқәа компиутерла ашьақәыргылараан рхы ишадырхәогьы, уи иара убас иԥсабаратәым аԥсҭазаарагьы ианаалоит англ. wet alife, иԥсабаратәым абелокқәеи егьырҭ амолекулақәеи рыҭҵаара.
Аԥсҭазаара Адунеи аҟны
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Аԥсҭазаара Адунеи аҟны.
Аԥсҭазаара Адунеи аҟны — ари атермин аԥсҭазаара аԥшаара иазырхоу апроблемақәеи адҵақәеи реизга аанагоит. Еиҳа еизадоу аҭагылазаашьаҿы аԥсҭазаара кырӡа еиҵыху аҵакы аанахәоит — аматериа аҟазаара зыԥсы ҭоу формак аҳасабала, ганкахьала иара афизикатәи ахимиатәи формақәа ирыҿурԥшуазар еиҳаӡоу аҟазаара аформа змоу акы акәны. Абасала, адҵахада иаҳәаӡом аԥсҭазаара хымԥада идгьылтәзар ауп ҳәа, иара убасгьы иҟоуп имаҷымкәа атеориақәагьы, аԥсҭазаара егьырҭ аформақәагьы шаанахәо шьақәзырӷәӷәо. Аха, аԥшаара астратегиа алхраан астробиологиаҿы рхы иадырхәо азнеишьа хада ҩ-этапк рыла ишьақәгылоуп:[25]
- Адгьыл аҟны аԥсҭазаара ацәырҵра аҭҵаара. Ихадоу аԥҟарақәа ралкаара.[26] Шьаҭас иҟоуп:
- Апланета агеологиатә ԥсҭазааразы адыррақәа, авулканизмм, атектоника, амҳалдызтә дәы реиԥш иҟоу зҵазкуа.
- Аклимат аҭоурых иазку адыррақәа, насгьы уи мҩақәызҵо амыругақәа ҳара ишеилаҳкаауа.
- Аԥсҭазаара аиҿкаашьа иазку адырра хадақәа, ДНК, аихацқәа, иара убас ԥсызхоу реиқәхара аҳәаақәа ирызку.
- Ԥсызхоу зегьы риреи револиуциеи ирызку адыррақәа.
- Хадаразлоу аԥҟарақәа астрономиатә згәаҭарақәеи атеориақәеи, хықәкылатәи аԥшаареи ранраалара. Уахь иаҵанакуеит:
- Аԥсҭазааразы иманшәалоу аекзопланетақәа рыԥшаара
- Ашьақәгылара атеориа аиҿкаара, аԥсҭазаара зхылҿиаар ауаз иуадаҩу амолекулиартә лыҵшәақәа зҵазкуа.
- Амра Асистема аҭҵаареи уи иазку адыррақәа аекстрамратә системақәа ирызку адыррақәа рышьаршәалара.
Иара убас хазы игоу ҭҵааратә хырхарҭаны иалкаазар ауеит адгьылнҭыҵтәи ацивилизациақәа рыԥшаара. Ари ахырхарҭаҿы иҟоуп азҵаара хадақәа хԥа:
- Иԥшаатәузеи?
- Ишԥаԥшаатәу?
- Иабаԥшаатәу?
Абараҟаа аҭҵааратә стратегиа ашьақәыргылараҿы кырӡа зҵазкуа аҭыԥ ааннакылоит Дреик иҳасабра, Кардашиов ицивилизациақәа рыхкқәа нацҵаны.[27]
Идгьылтәым аԥсҭазаара
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Идгьылтәым аԥсҭазаараИдгьылтәым аԥсҭазаара (апланетанҭыҵтәи аԥсҭазаара) — Адгьыл анҭыҵ иҟалаз иагьыҟоу аԥсҭазаара зеиԥшразар алшо аформа. Уи акосмостә биологиеи аксенобиологиеи иҭырҵаауа маҭәаруп, иара убас ааҭҵаарадырратә нашана иалоу ихыҭҳәаау аобиктқәа иреиуоуп.
- Марс аҟны аԥсҭазаара
- Ихадароу астатиа: Марс аҟны аԥсҭазаара

Марс аҟны аԥсҭазаара ыҟоу иҟаму азҵаара иахьатәи аамҭазы аҭҵаара аҭак азыҟаҵаӡом, аха зегьакоуп Адгьыл азааигәареи аиԥшреи аҭыԥ змазар алшо аԥсҭазаара аформақәа рыԥшаара иаҿыҵгоуп.[28] Марс аҟны иахьатәи аамҭазы мамзаргььы анкьа аԥсҭазаара ыҟазу иҟамзу азҵаара шаарту иаанхоит.
Амԥсра
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Амԥсра

Амԥсра— цәеижьлагьы доуҳалагьы ишьақәыргылам аамҭарацәа инымҵәо аԥсҭазаара ауп.
Цәеижьла амԥсра атәы ҳҳәозар, еиҩырдыраауеит еихацктәи аорганизмқәа рбиологиатә нҵәаразқәым аԥсҭазаареи, иуадаҩны еиҿкаау ԥсызхоу аихацрацәатә организмқәа рбиологиатә мыԥсреи, раԥхьаӡа инаргыланы — ауаҩы иԥсҭазаара.[29][30]
Доуҳала амԥсра— адин, афилософиа, амистика, аезотериа аҵакқәа рыла — ахаҭара («сара», адоуҳа, амонада) нҵәаразқәым аҟазаара аанагоит, ахаҭаратә гәаҳәара (апалингенезиа Артур Шопенгауер ифилософиатә системаҿы), ахаҭара шьақәзыргыло ахәҭаҷқәа реизга (скандхи абуддизм афеноменологиаҿы), иуниверсалтәу адоуҳатә субстрат (Карл Густав Иунг ианалитикатә психологиаҿы атрансперсоналтә хдыррадара, Пер Теииар де Шарден идинтә-философиатә концепциаҿы аноосфера, уб. иҵ).
Адин-философиатә гәҭахәыцрақәа хазы игоу рмаҭәар — амԥсра Анцәа ирбага аҳасабала.
Аԥсҭазаара аԥсра ашьҭахь
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Аԥсҭазаара аԥсра ашьҭахь
Аԥсҭазаара аԥсра ашьҭахь — ари ауаҩытәыҩса даныԥслакь ашьҭахь иԥсҭазаара ишацҵахо атәы зҳәо еилкаароуп. Еиҳарак ас еиԥш иҟоу аилкаара аԥсы анаунагӡара агәрагара иадҳәалоуп, еиуеиԥшым адинхаҵаратә дунеихәаԥшрақәа рҟны иуԥылоит.
Аԥсра ашьҭахь аԥсҭазаара азхәыцра еиуеиԥшым адинхаҵаратәи афилософиатәи ҵарадыррақәа рҟны иуԥылоит. Урҭ рахьтә ихадақәоу иреиуоуп:
- воскрешение мёртвыхаԥсцәа ргылара — ауаа аныԥслакь ашьҭахь Анцәа рыԥсқәа ҭеиҵоит;
- реинкарнацияареинкарнациа — ауаҩытәыҩса иԥсы адунеи иазыхынҳәуеит даҽа цәаҩак аахәаны;
- посмертное воздаяниеаԥсрашьҭахьтәи ақәнагақәыршәара — ауаҩы даныԥслак иԥсы џьанаҭ мамзаргьы џьаҳанымҟа иақәшәоит, адгьылтә ԥсҭазаара шихигаз инақәыршәаны.
Уахә. иара убас
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥсҭазаара иазку анаукақәа
- Аԥсҭазаара арбагақәа
- Ателеономиа
- Агомеостаз
- Аԥсҭазаара аҵакы
- Ахҭылҵ
- Аҿиара
- Аԥсра
- Абиологиа
- Абиологиатә еволиуциа
- Адгьыл аҟны аԥсҭазаара аҭоурых
- Аԥсҭазаара аҟалара
- Адгьылнҭыҵтәи аԥсҭазаара
Азгәаҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ Жизнь // Культурология. XX век. Энциклопедия. 1998.
- ↑ Аԥсҭазаара — астатиа аҟынтәи Новой философской энциклопедии
- ↑ Жизнь // Большая советская энциклопедия : [в 30 т.] / гл. ред. А. М. Прохоров. — 3-е изд. — М. : Советская энциклопедия, 1969—1978.
- ↑ "Статья «Жизнь» в Толковом словаре Ожегова". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2013-07-31 ахь. Ириашоу 2014-01-12 шықәсазы.
- ↑ "Trifonov E. N. Vocabulary of definitions of life suggests a definition //Journal of Biomolecular Structure and Dynamics. — 2011. — Т. 29. — №. 2. — С. 259—266". Иархивтәоу аоригиналзы 2019-04-07 ахь. Ириашоу 2016-05-09 шықәсазы.
- ↑ Карл Циммер. Живое и неживое. В поисках определения жизни (Carl Zimmer. Life's Edge: The Search for What It Means to Be Alive). — М.: Альпина нон-фикшн, 2022. — С. 280. — ISBN 978-5-00139-472-3.
- ↑ 7,0 7,1 "Жизнь. (Определение)// Биологический энциклопедический словарь. (Гл. ред. М. С. Гиляров; Редкол.: А. А. Баев, Г .Г. Винберг, Г. А. Заварзин и др. — 2-е изд., исправл. — М.: Сов. Энциклопедия, 1989. — 864 с., ил., 30 л. ил.)". Иархивтәоу аоригиналзы 2010-12-06 ахь. Ириашоу 2010-12-23 шықәсазы.
- ↑ Н. В. Чебышев, Гузикова Г.С., Лазарева Ю.Б., Ларина С.Н. Биология: справочник. — ГЭОТАР-Медиа, 2010. — 608 с. — ISBN 978-5-9704-1817-8. — [Архивировано 8 ԥхынҷкәынмза 2015 года.]
- ↑ Э. Галимов. «Что такое жизнь? Концепция упорядочения». Знание — сила, № 9, 2008 г., с. 80.
- ↑ "Пармон В. Н. Новое в теории появления жизни, «Химия и жизнь» № 5, 2005". Иархивтәоу аоригиналзы 2009-12-12 ахь. Ириашоу 2009-11-02 шықәсазы.
- ↑ "Передача биологических сигналов - Константин Северинов" (аурыс бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 2022-06-30 ахь. Ириашоу 2022-06-30 шықәсазы.
- ↑ doi:10.1089/ast.2010.0524
Вы можете подставить цитату вручную или с помощью бота. - ↑ Происхождение жизни : [арх. 19 жьҭаарамза 2022] // Большая российская энциклопедия : [в 35 т.] / гл. ред. Ю. С. Осипов. — М. : Большая российская энциклопедия, 2004—2017.
- ↑ Сергеев И. Ю., Гайдуков А. Е., Дубынин В. А. Человек: краткий курс анатомии и физиологии. — М.: Издательство экономико-правовой литературы, 2017. — С. 6—8. — ISBN 978-5-904728-08-3.
- ↑ D.Sh (2011-07-29). "Экология: биология взаимодействия. 1.05. Уровни организации биосистем". Лекторий-библиотека Batrachos.com (аурыс бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 2021-03-04 ахь. Ириашоу 2022-01-14 шықәсазы.
- ↑ Определение дано по Биологический энциклопедический словарь / под. ред. М.С. Гилярова. — второе, исправленное. — Москва: Советская энциклопедия, 1989. — С. 483. — 864 с. — ISBN 5-85270-002-9.
- ↑ Ю.К. Рощевский. Особенности группового поведения животных. — учебное пособие. — Куйбышев: обл. типография им. Мяги, 1978. — С. 9—10. — 1000 экз экз.
- ↑ Хлебосолов Е. И. Роль поведения в экологии и эволюции животных // Русский орнитологический журнал. — 2005. — Т. 14, вып. 277. — С. 49—55. — ISSN 0869-4362.
- ↑ "Бактерии, их поведение и способы перемещения в пространстве" (аурыс бызшәала). МИКРОМИР. Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2011-08-24 ахь. Ириашоу 2011-01-14 шықәсазы.
- ↑ Рейхольд Вайнар. Движения у растений / перевод А.Н. Сладкова. — Москва: Знание, 1987. — С. 75, 122—125. — 174 с. — (Переводная научно-популярная литература).
- ↑ Treviranus, Gottfried Reinhold, Biologie : oder Philosophie der lebenden Natur für Naturforscher und Aerzte, 1802
- ↑ Avila, Vernon L. Biology: investigating life on earth. — Boston: Jones and Bartlett[англ.], 1995. — С. 11—18. — ISBN 0-86720-942-9.
- ↑ Campbell, Neil A.; Brad Williamson; Robin J. Heyden. Biology: Exploring Life. — Boston, Massachusetts: Pearson Prentice Hall, 2006. — ISBN 0-13-250882-6. — [Архивировано 2 абҵарамза 2014 года.]
- ↑ King, TJ & Roberts, MBV. Biology: A Functional Approach. — Thomas Nelson and Sons[англ.], 1986. — ISBN 978-0174480358.
- ↑ Edwin A. Bergin. Astrobiology: An Astronomer's Perspective. — 2013.
- ↑ Jeffrey Bennett, Seth Shostak. Life in the Universe. — 3-ие. — 2012. — ISBN 0-321-68767-1.
- ↑ Adam Frank, Woodruff Sullivan. Sustainability and the Astrobiological Perspective: Framing Human Futures in a Planetary Context. — 2013.
- ↑ "Статья «Есть ли жизнь на Марсе» на сайте «Солнечная Система»". Иархивтәоу аоригиналзы 2012-10-23 ахь. Ириашоу 2012-10-01 шықәсазы.
- ↑ В соответствии с крупнейшей базой данных по старению и продолжительности жизни животных AnAge Архив ҟаҵан 2015-04-17 азы Wayback Machine аҟны., в настоящее время найдено семь видов практически нестареющих (бессмертных) многоклеточных организмов — Sebastes aleutianus, Chrysemys picta, Emydoidea blandingii, Terrapene carolina, Strongylocentrotus franciscanus, Arctica islandica, Pinus longaeva. Есть основания предполагать биологическое бессмертие у некоторых представителей отряда Tricladida (Барнс Р. и др. Беспозвоночные: новый обобщённый подход. — М.: Мир, 1992. — С. 86).
- ↑ Понятие «бессмертие» следует отличать от понятий, характеризующих возможность живого организма существовать долго в зависимости от скорости метаболизма в нём, или существовать дольше обычных сроков существования для подобных организмов (долгожительство). На практике — особенно в художественном творчестве, а также в переносном (метонимическом) употреблении — эти понятия смешиваются.
- ↑ Мимоза стыдливая аиаиарала ма акырсхьара аан абӷьыцқәа хымпыҵахалакәа аакыркып. Убас, абӷьыц ашхьа ихьааиаху аҩнытәи иахьала рыԥсахлар акоит — хышьҭалоу, аиҭаҵрақәа ракрааит, иара убас аеиҵахәқәа ракрааит, нас аиҵахәк ааигоит
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Жизнь // Еврейская энциклопедия Брокгауза и Ефрона. — СПб., 1908—1913.
- Жизнь, в биологии // Энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона : в 86 т. (82 т. и 4 доп.). — СПб., 1890—1907.
- Чернавский, Дмитрий Сергеевич. 2000. Проблема происхождения жизни и мышления с точки зрения современной физики // Успехи физических наук. Т. 170. № 2. С. 157—183. (PDF-версия)
- Романов С. Ф. 2010. Истины XXI века (3 редакция) -СПб., С. 33—86. (DOC-версия Архив ҟаҵан 2022-12-18 азы Wayback Machine аҟны.)
- Хайлов К. М. «Жизнь» и «жизнь на Земле»: две научные парадигмы // Журнал общей биологии : журнал. — 1998. — Т. 59, № 2. — С. 137—151. — ISSN 0044-4596.
- Николаев Л. А. Химия жизни. — М., Просвещение, 1977. — 239 c.
- Карл Циммер. Живое и неживое. В поисках определения жизни. = Carl Zimmer. Life's Edge: The Search for What It Means to Be Alive. — М.: Альпина нон-фикшн, 2022. — 370 с. — ISBN 978-5-00139-472-3..
- Жизнь (с физиологической стороны) // Жизнь вечная // Православная Богословская Энциклопедия. Том 5. Издание Петроград. Приложение к духовному журналу «Странник» за 1904 г.
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Жизнь // Большая советская энциклопедия : [в 30 т.] / гл. ред. А. М. Прохоров. — 3-е изд. — М. : Советская энциклопедия, 1969—1978.
- Что такое жизнь с точки зрения физики?Архив ҟаҵан 2015-02-16 азы Wayback Machine аҟны.
- Биология в вопросах и ответахАрхив ҟаҵан 2015-02-16 азы Wayback Machine аҟны.
- Проблемы эволюции.