Перейти к содержанию

Аԥошьҭа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ари атермин «Аԥошьҭа» даҽа ҵакқәакгьы амоуп, Шәахә. иара убас: Аԥошьҭа (аҵакы).
Аԥошьҭатә ҟәша. Асахьаҭыхҩы Едвард Вилиерс Риппингилл (1829)

Аԥошьҭа (аиталиан быз. Posta аҟнытә) — аԥошьҭатә цҳамҭақәа реимдара зцу аимадара ахкы ауп (иаҳҳәап, аԥошьҭатә хсаалақәа, ашәҟәқәа, ацҳамҭақәа), иара убасгьы абри аҩыза аимадара алзыршо аусбарҭақәа реизга[1].

Аԥошьҭатә еимадара аусбарҭақәа рахь иаҵанакуеит: аҭакзыԥхықәу аԥошьҭатә администрациа (АԤА) насгьы уи иаҵанакуа аструктурақәа — аԥошьҭамтқәа, аимадаратә ҭыԥқәа, амҩангаратә еилазаарақәа, аилыԥшааратә пунктқәа, иара убасгьы аԥошьҭамтқәеи аимадаратә ҭыԥқәеи рҿы иҟоу аԥошьҭатә ҟәшақәа[1]. Аԥошьҭатә наплакқәа, еиҳарак, алицензиақәа рышьаҭала аҭыԥантәи, аҩныҵҟатәи, жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы аԥошьҭатә усурақәа ҟазҵо, иалзыршо амонополиақәа шьақәдыргылоит.

1874 шықәсазы иаԥҵаз Адунеизегьтәи аԥошьҭатә еидгыла 192 ҳәынҭқарра-лахәылацәа амоуп, насгьы жәларбжьаратәи акорреспонденциа аимдара аԥҟарақәа шьақәнаргылоит.

Ажәа «аԥошьҭа» аполиак бызшәа аҟынтәи иаауеит — poczta, насгьы аиталиан бызшәа аҟынтәи — posta. Аҵыхәтәантәи, уи аԥхьа, posta аҟынтәи иааит, насгьы аҵыхәтәантәи алатин бызшәа posita аҟынтәи, ари ишаабо ала statio posita in… аиҵатәра акәзар ҟалоит — ҭыԥк аҿы иҟоу аҽқәа раанҿасырҭа, астанциа[1]. Абасала, ари ажәа раԥхьаӡа ҵакыс иамаз аԥошьҭа ҽқәа мамзаргьы акуриерцәа ахьеиҭнырыԥсахло астанциа акәын. Ажәа post «аԥошьҭа» аҵакы аманы раԥхьаӡакәны ахархәара аиуит XIII-тәи ашәышықәсазы. Иахьа ажәа «аԥошьҭа» иаанагоит аԥошьҭа аусбарҭа (аԥошьҭамт, аҟәша), ацҳамҭа, насгьы иааз акорреспонденциа зегьы[2][3][4].

Ихадароу астатиа: Аԥошьҭа аҭоурых

Ҭоурыхла, аԥошьҭа цәырҵит адырраҭарақәеи амаҭәарқәеи (аԥара, ашьҭымҭақәа, атауарқәа) анашьҭҩи адкылаҩи рыбжьара алагаҩагара аҭахра аҟынтәи.

Аԥошьҭатә еимадара аҿиара ҭнаҵаауеит аҭоурыхтә ҭҵаарадырра иҷыдоу аҟәша — аԥошьҭа аҭоурых. Ауаатәыҩса рҭоурых ду аҩнуҵҟа аинформациа аимдаратә методқәеи амҩақәеи акырӡа рҽеиҭаркит. Аҭоурых аԥхьатәи аамҭақәа рзы имариаӡоу адыргақәа (абжьы, амца, алҩа) рхархәара атәратә ҳәынҭқаррақәа рҿы шьапыла, ҽыла ацҳаражәҳәаҩцәа рыла аԥошьҭатә еимадара аиҿкаара амҩа анаҭеит. Афеодализми акапитализми раан, еиԥҟьарадатәи азеиԥшҳәынҭқарратәи адунеизегьтәи аԥошьҭатә маҵзурақәа ҟалеит аҽқәа рыла, анаҩс адәыӷбатә, аҳауатә, егьырҭ акоммуникациатә хкқәа рыла.

1874 шықәсазы Актәи адунеизегьтәи аԥошьҭатә конгресс аҿы 22 тәыла рнапы аҵарҩит Азеиԥш еидкылоу аԥошьҭатә еиқәшаҳаҭра, насгьы еиҿыркааит Азеиԥш ԥошьҭатә еидгыла (1878 шықәса инаркны — Адунеизегьтәи аԥошьҭатә Еидгыла). 1878 шықәсазы Адунеизегьтәи аԥошьҭатә конвенциа ҟаҵан, иҩу аацҳарақәа зну акорреспонденциа аимдара аиҿкааразы.

Џьон Кеннеди ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿы иҟоу аԥошьҭатә ҟәша
Гонгконгтәи аԥошьҭа аусзуҩцәа аԥошьҭаҭра аҟынтәи ашәҟәқәа ҭыргоит, 2021 шықәса

Ҳаамҭаазтәи аԥошьҭа — еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рнаплакқәа рдунеизегьтәи системоуп, жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрала еидкылоу (шәахә. АԤЕи адунеизегьтәи аԥошьҭатә конгрессқәеи рдокументқәа). Жәларбжьаратәи аԥошьҭатә маҵзурақәа знапы алаку аԥошьҭатә наплакқәа зегьы монополистцәоуп.

Иапониа аԥошьҭатә ҟәша

Аинтернет аҿиара абзоурала аналитикцәа шьоукы аԥошьҭатә маҵзурақәа рџьармыкьа ирласны аанҿасра азԥхьагәарҭон, аха уи ҟамлеит. Уаанӡа ахашәала змамыз еиуеиԥшым атәылақәа рԥошьҭатә наплакқәа априватизациа рзырурц ргәы иҭоуп.

Германиатәи аԥошьҭа, немец бызшәала Deutsche Bundespost захьӡыз, 1995 шықәсазы априватизациа азун, еиҩшан акомпаниақәа Deutsche Post AG, Deutsche Telekom AG, Deutsche Postbank AG рыла. Иҟоуп иара убасгьы аԥошьҭатә маҵзурақәа мҩаԥызго егьырҭ хаҭалатәи анаплакқәагьы[5].

XX-тәи ашәышықәса анҵәамҭеи XXI-тәи ашәышықәса алагамҭеи рзы аԥошьҭатә еимадара зегь реиҳа иаларҵәаз, насгьы зегь раасҭа зыхә мариаз еимадара хкын. Автоматтә телекоммуникациатә системақәа, арадиоеимадара, аҭелтәи аелектронтәи еимадарақәа лассы ишыҿиоугьы, ҳаԥхьаҟагьы аԥошьҭатә еимадара иамоу аҵак ду азаанхоит; избан акәзар аматериалтә обиектқәа (атауарқәа, амаҭәарқәа, уҳәа убас иҵегьы) реиҭагара залшом афымцамҳалдызтә еимадара ахкқәа рхархәараан.

Ҳаамҭазтәи аԥошьҭатә маҵзурақәа рџьармыкьа аструктураҿы ҳара иалаҳкаар ҳалшоит акорреспонденциа анагара, ашьҭымҭақәа, абандерольқәа (акуриер, аԥошьҭа), ателекоммуникациатәқәа (апериодикатә кьыԥхьқәа рыҽрыҵаҩра, урҭ рнагара), афинанстәқәа (атәанчахәы анагара, асоциалтә льготақәа, аԥара аиагара). Аелектрон еимадаратә хархәагақәа рыҿиара, ганкахьала уахәаԥшуазар, адокументқәа зцу ацҳамҭақәа рхыԥхьаӡара иагнархеит, аха, даҽа ганкахьалагьы, аинтернет дәқьанқәа рҟынтәи ашьҭымҭақәа рнагара даараӡа аларҵәара аиуит. Еиуеиԥшым атәылақәа рҳәынҭқарратә ԥошьҭақәа лассы-лассы арҭ амаҵзурақәа рҭахрақәа рынагӡара рылшом. Убас, ЕАА рҿы, атрадициатә ԥошьҭа (ЕАА Аԥошьҭатә маҵзура) аҭахра ду амоуп, избан акәзар еимырдо адокументқәеи ачекқәеи рхыԥхьаӡара рацәаӡоуп, аха амаҭәахәқәа рнагара аџьармыкьа аԥшьбатәи ахәҭа мацара ауп иаҵанакуа, убри аан егьырҭ ашьҭымҭақәа рнагаратә маҵзурақәа (UPS, FedEx, DHL реиԥш иҟоу) рҭааҩцәа ирыдыргалоит еиҳа иццаку, еиҳа зхаҭабзиара ҳараку анагара, рыхәқәа еиҳа иҳаракызаргьы[6]. Амилаҭтә ԥошьҭатә маҵзурақәа аџьармыкьаҿы аҭыԥ ҿыцқәа рыԥшаара рҽазыршәоит. Иаҳҳәап, «Австралиатәи аԥошьҭа» атәылауаа атәылауаҩшәҟәқәеи аныҟәцаратә шәҟәқәеи рҭыԥан рхы иадырхәо аелектронтә хаҭаратә система аоператорс иҟалеит. Ари аԥошьҭатә оператор ацифратәра иалахәыз «Швеицариатәи аԥошьҭа» аҟәша адокументқәа реикәшареи адыррақәа рымҩақәҵареи рзы аӡбарақәа рыҭара иалагеит[7].

Иҟоуп иара убас агибридтә ԥошьҭа, уаҟа аахәаҩ аԥошьҭа оператор иахь идәықәиҵоит аелектронтә документқәа, урҭ здызкылои иаазышьҭуеи рҭыӡҭыԥқәа зну, анаҩс урҭ ақьаад формала иркьыԥхьуеит адкылаҩ изааигәоу аԥошьҭатә усбарҭаҿы, аконвертқәа ирҭаҵаны иаарласны адкылаҩ иахь инагахоит.

Аԥошьҭатә усбарҭеи амаҵзурақәеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Иҟоуп аҳәынҭқарратә ԥошьҭатә усбарҭақәа — DHL, FedEx, SDEK — рзы альтернативатә усбарҭақәа, “еиӷьу амаҵзурақәа” ҳадызгало, иара убас иҟоуп арегионқәа рыла анагаратә ԥкрақәа рывсра алзыршо амеил-форвардерцәа.

Ихадароу астатиа: Урыстәыла Аԥошьҭа

Урыстәыла аԥошьҭа анапхгара азҭо АԤА (Аҭакзыԥхықәу аԥошьҭатә администрациа) ауп. Иаку наплакык аҳасабала аԥошьҭа аусура мҩаԥнагоит анагӡаратә структурақәа рхархәарала (аԥошьҭамт хадақәа, агуберниатә ԥошьҭамтқәа, амҩанысратә усбарҭақәа, аилыԥшааратә центрқәа). Уи аамҭазы, ақалақьтәи араионтәи аԥошьҭамтқәеи акоммуникациатә центрқәеи агуберниатә ԥошьҭамтқәа рыҵаҟа иҟоуп. Араионтә ԥошьҭамтқәеи акоммуникациатә центрқәеи амаҵ рзыруеит аԥошьҭатә ҟәшақәа. Убас, Урыстәылатәи аԥошьҭа иаку наплакны иҟоуп, уи аҟны иҷыдоу ароль нанагӡоит АԤА. Аԥошьҭатә усура, аусумҭақәа, атауарқәа, аԥошьҭатә дәықәҵарақәа рмаҵзурақәа рҭыжьреи рыҭиреи зцу, аусуразы алицензиа рырҭоит: аусумҭақәа иаку ркомплекс аҭыжьразы ихадоу лицензиала, насгьы аԥошьҭатә дәықәҵарақәа рмаҵзура хкыцыԥхьаӡа рзы лицензиа рацәала. Алицензиақәа узеиҩшаӡом, даҽаӡәгьы иузиҭаӡом; убри аҟнытә аԥошьҭатә усура амҩаԥгараҿы азин зманы иҟоу АԤА заҵәык ауп, уи ала Урыстәылатәи Аԥошьҭа акзаара иадыԥхьало. Урыстәыла Аԥошьҭа аусураҿы Аимадареи амассатә коммуникациақәеи Рминистрра ишьақәнаргылаз Аԥошьҭатә еимадара амаҵзурақәа рымҩаԥгаразы аԥҟарақәа (ПОУПС) ирықәныҟәоит[8].

Ихадароу астатиа: Белпочта
Минсктәи «Белпочта» аусзуҩы аԥошьҭаҭра аҟынтәи ашәҟәқәа ҭигоит
Ихадароу астатиа: Укрпочта
Ихадароу астатиа: Кыргызпочтасы

Аԥошьҭатә маҵзурақәа рыхә ашәара

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Адунеизегьтәи аԥошьҭатә еидгыла 75 шықәса ахыҵра иазкны иҭрыжьыз Гилберти Еллистәии Адгьылбжьахақәа рԥошьҭатә мҳәырқәа зқәу аконверт (1949)

Ишаԥу еиԥш аԥошьҭатә дәықәҵарақәа рыхә ашәаразы (асалам, асаламшәҟәқәа, иаабаци иҿаҵоуи абандерольқәа) еиуеиԥшым аноминациа змоу аԥошьҭатә мҳәырқәа рхы иадырхәоит, урҭ ишиашоу адәықәҵамҭа мамзаргьы уи аилаҳәара иақәдырҷабуеит аԥошьҭатә тариф инақәыршәаны.

Иара убас аԥошьҭатә ҟәшақәа иҭрыжьуеит амҳәыр зну аконвертқәа, иҿаҵоу амҳәыр зну аконвертқәа, иаартуи иаркуи асаламшәҟәқәа, амаҵзуратә ԥошьҭатә хсаалақәа, аԥошьҭатә еиагарақәа, абандерольқәа уҳәа убас иҵегьы, рыхә ашәара иазку аԥошьҭатә дырга рыҭаны.

Зны-зынла амҳәырқәа рҭыԥан иҷыдоу афранкирҟаҵаратә машьынақәа (афранкотипқәа) рышьҭақәа ҟарҵоит, уаҟа аԥошьҭатә ԥара иҷыдоу амҩала аконверт аҿы, мамзаргьы аҭра иадҷабло ақьаад бӷьыц аҿы иркьыԥхьуеит. Есымза аԥошьҭа аусзуҩцәа ас еиԥш иҟоу аппарат аҳасабга иаԥхьоит, насгьы анаплакы аԥарашәаратә шәҟәынҵа арҭоит. Ари аҩыза ашәашьа еиҳарак рхы иадырхәоит акорреспонденциа рацәаны идәықәзҵо (акционертә еилахәырақәа, аԥараҵәахырҭақәа, аԥгаԥсатә еилахәырақәа, аӡыргаратә маҵзурақәа, уҳәа убас иҵегьы).

Тәылақәак рҿы (ҷыдала Германиа, Британиа Ду, ЕАА, егьырҭ атәылақәа рҿы) иаабац акорреспонденциа ашьҭразы аԥара ашәаратә метод ҿыц цәырҵит — интернет ала. Ахархәаҩ иҷыдоу апортал аҿы аԥошьҭатә маҵзура ахә ишәоит, уи ашьҭахь иҷыдоу аштрих-код иоуеит, уи аҩнытә принтер аҿы икьыԥхьны аконверт иақәирҷабыр илшоит. Еиду Британиаҿы ари ашәаратә метод SmartStamp ахьӡуп.

ЕАА-и Европатәи атәылақәеи рҿы лассы-лассы иуԥылоит “заанаҵ ишәоу” ҳәа изышьҭоу ашәҟәқәеи аԥошьҭатә картақәеи. Ишаԥу еиԥш, урҭ рхы иадырхәоит акомпаниа дуқәа ахархәаҩцәа рҟынтәи «агәаанагарақәа» раиуразы. Ахархәаҩ ирҭоит аԥошьҭатә карта ма аконверт, уи здызкыло акомпаниа аинформациа типографиатә мҩала икьыԥхьны изну. Аԥошьҭатә еилакы асеиԥш акорреспонденциа анагараан ахәԥса ашәҟәынҵа адкылаҩ инаҭоит.

  1. 1,0 1,1 1,2 Почта // Большая советская энциклопедия : [в 30 т.] / гл. ред. А. М. Прохоров. — 3-е изд. — М. : Советская энциклопедия, 1969—1978. — Т. 20. "Почта". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2016-06-20 ахь. Ириашоу 2015-02-25 шықәсазы.
  2. Почта // Энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона : в 86 т. (82 т. и 4 доп.). — СПб., 1890—1907.
  3. Кисин Б. М. Страна Филателия / Ред. В. Нездвецкий. — М.: Просвещение, 1969. — 240 с. — 100 000 экз.
  4. Шәахә. иара убас анемец статиа Geschichte der Post.
  5. Шәахә. иара убас анемец статиа Post.
  6. "Цифра в конверте". Иархивтәоу аоригиналзы 2023-06-30 ахь. Ириашоу 2022-10-25 шықәсазы.
  7. "Вам письмо: как цифровая трансформация изменит почтовые услуги". Иархивтәоу аоригиналзы 2022-10-25 ахь. Ириашоу 2022-10-25 шықәсазы.
  8. Министерство связи и массовых коммуникаций. "Почта России Правила оказания услуг почтовой связи". Почта России.{{cite web}}: CS1 maint: url-status (link)
  • Большой филателистический словарь / Под общ. ред. Н. И. Владинца и В. А. Якобса. — М.: Радио и связь, 1988. — 320 с. — ISBN 5-256-00175-2. [См. статьи, начинающиеся на Почта и производные от этого слова.]
  • Почта// Толковый словарь русского языка / Под ред. Д. Н. Ушакова. — Т. 3. ( Архив ҟаҵан 2023-03-06 азы Wayback Machine аҟны.)
  • Почтовые знаки // Энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона : в 86 т. (82 т. и 4 доп.). — СПб., 1890—1907.
  • Филателистический словарь / Сост. О. Я. Басин. — М.: Связь, 1968. — 164 с. [См. статьи, начинающиеся на Почта и производные от этого слова.]