Аҭҵаарадырра аҭоурых
Аҭҵаарадырра аҭоурых ҳәа ҳзышьҭо еиуеиԥшым аҭҵаарадыррақәа рыҿиароуп, мамзаргьы ҳаамҭазтәи аҭҵаарадырратә дунеихәаԥшышьа аҭоурых ауп: аҭҵаарадырра иазгәанаҭо аҭҵаарадырратә ҵарақәеи, афактқәеи, ацәырҵрақәеи, аметодологиақәеи, агәаанагарақәеи, адунеихәаԥшышьақәеи, апроцессқәеи апроблемақәеи рҭоурыхтә ҿиара асахьа, урҭ рнырра аамҭа ианыԥшыр шалшо[1].
Аҭҵаарадырра, ҷыдала, аҭҵаарадырратә еилазаара ирынаҭаз адунеи иазку аемпирикатә, атеориатә, апрактикатә дыррақәа рыла ишьақәгылоуп. Ганкахьала аҭҵаарадырра аобиективтә дырра аанарԥшуеит, даҽа ганкахьала урҭ адыррақәа роуреи ауаа рхы ишадырхәо апроцесси аанарԥшуеит, аҭҵаарадырра ламыслатәи аҭоурыхҭҵаара хшыҩзышьҭра анаҭозароуп ахәыцра аҭоурых анаҩсангьы, иааизакны ауаажәларра аҿиара аҭоурыхгьы.
Иахьатәи аҭҵаарадырра аҭоурых шьаҭас иамоуп хыԥхьаӡара рацәала еиқәханы иҟоу аоригиналтә, ма ҿыц икьыԥхьу атекстқәа. Аха ажәақәа «аҭҵаарадырра», «аҵарауаҩ» рхаҭақәа рхархәара ианалагаз XVIII—XX ашәышықәсақәа раан ауп, уи аԥхьа аԥсабараҭҵааҩцәа русумҭақәа «аԥсабаратә философиа» ҳәа иашьҭан.
Аемпирикатә ҭҵаарақәа антикатәи аамҭақәа раахысгьы еицырдыруан (иаҳҳәап, Аристотельи Теофрасти русумҭақәа), аҭҵаарадырратә метод аԥҵан абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы (иаҳҳәап, Ибн аль-Ҳаисаам, Аль-Бируни, ма Роџьер Бекон), иахьатәи аҭҵаарадырра алагамҭа Аамҭа ҿыц идаҳәалоуп — XVI—XVII ашәышықәсақәа рзы Мраҭашәаратәи Европа имҩаԥысыз «аҭҵаарадырратә револиуциа» ҳәа изышьҭоу апериод.
Аҭҵаарадырратә метод ҳаамҭазтәи аҭҵаарадырразы ихадоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, убри аҟнытә аӡәырҩы аҵарауааи афилософцәеи аҭҵаарадырратә револиуциа аламҭалазы иаԥҵаз аусумҭақәа «аҭҵаарадырра аԥхьатәи» ҳәа ирыԥхьаӡоит. Убри аҟнытә, аҭҵаарадырра аҭоурыхҭҵааҩцәа рыҭҵаарақәа Антикатә аамҭеи Абжьаратәи ашәышықәсақәеи рпериод иадырҳәаларц азы лассы-лассы аҭҵаарадырра ҳаамҭазы иҟоу аҵкыс еиҳа иҭбаау аҵакы арҭоит[2].
Аҭҵаарадырра аҭоурых аҭҵаара
Аҭҵаарадырра аҭоурых адисциплина, егьырҭ аҭоурыхтә дисциплинақәа реиԥш, ашьаҭа акии XVIII, XIX ашәышықәсақәа рзы[3]. Дени Дидрои (1713—1784) Жан Лерон д'Аламбер (1717—1783) рҩымҭа «Аенциклопедиа, мамзаргьы аҭҵаарадыррақәеи, аҟазареи, анапҟазареи ирызку аилыркаагатә жәар» (1751—1780) аҿы, XVII ашәышықәса ахәыцҩцәа — Френсис Бекон (1561—1626), Рене Декарт (1596—1650), Исаак Ниутон (1642—1727), Џьон Локк (1632—1704) — русумҭақәа ахә ҳаракны иршьоит, урҭ русумҭақәа рҟынтәи асхоластика, «ажәытәӡатәи аамҭа лашьца абзиабара», егьырҭ «ацәахыхрақәа» ахьаадмырԥшыз азы.
Џьорџь Сартон (1884—1956), аҭҵаарадырра аҭоурых иазку актәи ажурнал, Isis (1912) аредактор, иҳәеит: «Огиуст Конт иоуп аҭҵаарадырра аҭоурых ашьаҭаркҩы ҳәа иԥхьаӡатәу, еилыкка, иҷыдоу, ихаҭәаамзаргьы, уи иазкны агәаанагара змаз раԥхьаӡатәи уаҩны»[3]. Џьим Секорд иазгәеиҭеит аҭҵаарадырра аҭоурых дисциплинак аҳасабала XIX ашәышықәса анҵәамҭазы Европеи Аҩадатәи Америкеи ишыҿиаз, европатәи амчра аҵаҟа ҳаамҭазтәи адунеи шцәырҵыз аарԥшразы[4] (шәахәаԥш Евроцентризм).
Мах аҭҵаарадырра аҭоурых дазхәыцуан, аҭҵаарадырра аметафизикеи адини раҟәыҭхара апроцесск аҳасабала, апрофессор Маргарет Ослер XX ашәышықәсазы аҭҵаарадырра аҭоурых академиатә дисциплинак аҳасабала ашьақәгылараҿы анырра ду алҭеит[3].
Урыстәыла
1921 шықәсазы В. И. Вернадски иҟаиҵаз ажәалагалала Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы аҭҵаарадырреи, афилософиеи, атехникеи рҭоурых аҭҵааразы Акомиссиа аԥҵан[5]. 1922 шықәсазы уи ахьӡ ԥсахын СССР Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу Адыррақәа рҭоурых азы Акомиссиа (КИЗ) ҳәа[6]. Уи хантәаҩыс дыҟан В. И. Вернадски.
1932 шықәсазы Адыррақәа рҭоурых азы Акомиссиа ашьаҭала СССР Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҭҵаарадырреи атехникеи рҭоурыхтә Институт шьақәгылеит (1938 шықәсанӡа). 1944 шықәса инаркны аус ауеит С. И. Вавилов ихьӡ зху Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥсабараҭҵаареи атехникеи рҭоурыхтә Институт.
Аҭҵаарадырра аҭоурых иазкны иаиԥмырҟьаӡакәа аҭҵаарадырратә конференциақәа еиҿыркаауеит:
- 1995 шықәса инаркны — Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аԥсабараҭҵаареи атехникеи рҭоурыхтә Институт есышықәсатәи аконференциа[7][8]
- 2014 инаркны — Аҭҵаарадырра аҭоурых: Ахыҵхырҭақәа, абаҟақәа, аҭынха[9][10].
Аҭҵаарадырра аҿиара аҭоурых
Аҭҵаарадырра аҭоурых аҭҵаараҿы иҟоу апроблемақәа иреиуоуп апериодизациа апроблема[11][12].
Еиҳарак иалыркаауеит анаҩстәи аҭҵаарадырра аҿиара апериодқәа:
- Аҭҵаарадырраԥхьатәи — Ажәытәтәи Мрагылара ацивилизациақәа рҿы аҭҵаарадырра ахацыркра: астрологиа, Евклид иаԥхьатәи агеометриа, аԥхьаҩыра, анумерологиа.
- Антикатә ҭҵаарадырра — Антикатә аамҭазы раԥхьатәи аҭҵаарадырратә теориақәа рышьақәгылареи (атомизм) раԥхьатәи аҭҵаарадырратә трактатқәа рышьақәыргылареи: Птолеми иастрономиа, Теофраст иботаника, Евклид игеометриа, Аристотель ифизика, иара убасгьы аҭҵаарадырраԥхьатәи еилазаарақәа рцәырҵра Академиа ашьаҭала.
- Абжьаратәи ашәышықәсақәа рыҭҵаарадырра — Џьабир ибн Хаиан иалхимиа аҿырԥштәы ахархәарала аҭҵаарадырратә методи аексперименталтә ҭҵаарадырреи рышьақәгылара.
- Аҭҵаарадырратә револиуциеи аклассикатә ҭҵаарадырреи — Галилео, Ниутон, Линнеи русумҭақәа рҿы аҭҵаарадырра иахьа иамоу аҵакала ашьақәгылара.
- Иклассикатәым (аклассикаԥхьатәи) аҭҵаарадырра — аклассикатә рационализм акризис аамҭазтәи аҭҵаарадырра: Дарвин иеволиуциатә теориа, Еинштеин иазхьыԥшра (относительность) атеориа, Геизенберг игәыҩбаратә принцип, Аԥжәара Ду атеориа, Рене Том амашәырцәгьа иазку итеориа, Мандельброт ифракталтә геометриа.
Апериодқәа рыла даҽа еихшарак ҟалар алшоит:
- Аклассикаԥхьатәи (заатәи антикатә, абсолиуттә ҵабырг аԥшаара, ашьклаԥшрем азхәыцреи, аиҿырԥшрақәа рметод).
- Аклассикатә (XVI—XVII ашәышықәсақәа, аԥышәарақәа рыпланҟаҵара цәырҵуеит, адетерминизм апринцип алагалахоит, аҭҵаарадырра аҵакы еизҳауеит).
- Иклассикатәым (XIX ашәышықәса анҵәамҭаз ицәырҵуеит амч ду змоу аҭҵаарадырратә теориақәа, иаҳҳәап, азхьыԥшра атеориа, азхьыԥшратә ҵабырг аԥшаара, еилкаахоит адетерминизм апринцип еснагь ахархәара шамам, насгьы аԥышәа мҩаԥызго иакәзар иҭҵаара анырра шаиҭо).

Ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы аҭҵаарадырра
Адыррақәа реизгара иалагеит ацивилизациеи аҩыреи анцәырҵ ашьҭахь; ажәытәтәи ацивилизациақәа (Мысратәи, Месопотамиатәи, уҳәа убас иҵегьы) астрономиа, аматематика, амедицина, уҳәа рҿы иҟарҵаз аихьӡарақәа еицырдыруеит. Аха амифологиатәи арационалԥхьатәи ахдырра аҳра анауаз, урҭ ақәҿиарақәа аемпирикатәи апрактикатәи хырхарҭа изҭымҵит. Иаҳҳәап, Мысра еицырдыруан агеометриа ала; аха Мысратәи агеометриазы арҵага шәҟәы угазар, усҟа иубарҭоу адгьылҭҵааҩы изы апрактикатә абжьгарақәа роуп, догматикала иаагоу («абри уоур уҭахызар, абри ҟаҵа, абас иҟаҵа»); атеорема, аксиома, ашьақәырӷәӷәара ҳәа изышьҭоу адыррақәа ари асистема зынӡа иацәтәымын. Аиашазы, арҵаҩы иҟынтәи аҵаҩы иахь авторитарла адырра аиагара ахьыҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы «ашьақәырӷәӷәарақәа» ахыччара акәушәа убоит.
Аклассикатә ҭҵаарадырра ашьаҭаҵәҟьа шьҭаҵан ҳәа иԥхьаӡатәуп Ажәытә Бырзентәыла, VI ашәышықәсазы ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа инаркны, усҟан раԥхьаӡ акәны амифологиатә хәыцра арационалтә хәыцрахь ииасит. Абырзенцәа мысрааи вавилонааи аемпириа рымарыԥсахит, уи аҭҵаарадырратә методологиа ацҵоуп: алогикатә хшыҩҵак аԥҟарақәа шьақәдыргылоит, агипотеза аилкаара аларгалоит уҳәа убас иҵегьы, алахтырақәа цәырҵуеит, иаҳҳәап, атомизм атеориа еиԥш иҟоу. Аметодқәеи адыррақәеи рыҿиареи асистематизациа рзуреи рҿы ҷыдала акыр зҵазкуа аҭыԥ ааникылеит Аристотель.
Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы аҭҵаарадырра
- Исламтәи Мрагылара
VII ашәышықәсазы, Арабтәылаҿы Арабтә империа ҿыц шьақәгылеит, уи VIII ашәышықәса абжанӡа аибашьрақәа раан иагоз аиааирақәа ирыбзоураны феодалтә мчра дуны иҟалеит — Арабтә халифат. Уи аилазаара иаҵанакуан Џьамтәыла, Афӷанисҭан, Абжьаратәи Азиа ахәҭак, Индиа Аҩада-Мраҭашәаратәи ахәҭак, Аҩадатәи Африка атәылақәа, Кавказхыҵтәи атәылақәа, насгьы Пиренеитәи адгьылбжьахабжа ахәҭа ду (Андалусиа) (Арабтә Мрагылара атәылақәа алаӡам). Убас, рҳәынҭқарра аҳәаақәа рырҭбаарала, арабцәа ажәытә дунеи акультура — абырзен-еллинтә, аурымтә, мысратә, арамеиатә, ирантә, индиатә, китаитә — ҟазарала ирыдыркылеит, изиааиз, мамзаргьы ааигәа иҟаз ажәларқәеи рҟынтә иргеит, урҭ ирхьыԥшыз ажәларқәа — аҭырқәцәа, ашьамтәылауаа, аџьамцәа, ахорезмцәа (уажә — аузбекцәеи атуркменцәеи), атаџьикцәа, аберберцәа, аиспанцәа (андалусцәа) уҳәа убас егьырҭгьы — рылахәхарала. Абарҭ акультурақәа зегьы еицырзеиԥшыз адәахьтәи ҷыдаҟазшьаны иҟан араб бызшәа. Арабцәа адунеизегьтәи ацивилизациа аҿиараҿы акыр зҵазкуа ашьаҿа ҟарҵеит. Араб ԥсылмантә ҭҵаарадырра аҭоурых алагамҭазы иҿиеит ажәытә бырзентә ҭҵаарадырра ианырны, насгьы уи аамҭазтәи Кавказнхыҵтәи, Персиатәи, Сириатәи, Мысратәи, Индиатәи, Абжьаратәи Азиатәи ажәларқәа рҭҵаарадырра ҳаракы анырреи аимадареи ирыбзоураны.
Арабтә ҭҵаарадырра анаҩстәи аҿиара шьаҭас иамаз ааглыхреи арратә усқәеи рҭахрақәа ракәын, урҭ арабтәи мпыҵахалаҩцәа аҵак ду рырҭон. Арабтә ҭҵаарадырра, иааизакны арабтә культура еиԥш, уи аамҭазы аҵаратә усбарҭақәа рҟны еизган. Ашколтә ҵара шьақәгылеит Арабцәа рымпыҵахаларақәа рышьҭахь, араб бызшәа анапхгареи адинхаҵареи ирбызшәаны ианрылаҵәаз ашьҭахь. Аџьамааақәа рҿы VIII ашәышықәса инаркны аԥхьатәи ашколқәа (амектабқәа ма акиуттабқәа) ыҟан.
Афилологиатәи аԥсабаратәи ҭҵаарадыррақәа рыҿиара абзоурала, Багдаттәи ахалифат аҿы, анаҩс егьырҭ Арабтә ҳәынҭқаррақәа рҿы аҭҵаарадырратә-аҵаратә центрқәа цәырҵит: VIII ашәышықәса инаркны Басра, Куфа, Багдад рҟны аграмматикатә школқәа аартын. 830 шықәсазы Багдад ақалақь аҿы еиҿкаан «Дар аль-улюм» («Аҭҵаарадыррақәа Рыҩны») академиа. 972 шықәсазы Каир ақалақь аҿы аль-Азхартәи ауниверситет еиҿкаан. Араб-пиренеитәи адгьылқәа рҿы аҵара аҿиара ҳаракы аиуит. X ашәышықәсазы Кордова мацара 27 медрес ыҟан, уаҟа амедицина, аматематика, астрономиа, афилософиа ддырҵон[13].
Арабцәа иҟарҵаз ҭоурыхтә лшамҭас иԥхьаӡоуп, антикатәи аҭҵаарадырра аихьӡарақәа анрыдыркыла, еихарҳаит, анаҩс Мраҭашәаратәи ажәларқәа ирыладырҵәеит, убри ала антикатә аамҭеи иахьатәи ацивилизациеи рыбжьара цҳаны иҟалеит. Евклид, Архимед, Птолемеи русумҭақәа Мраҭашәаратәи Европа ажәларқәа еицырдырит XII ашәышықәсазы арабцәа алаҭын бызшәахьы иҟарҵаз аиҭагақәа ирыбзоураны. Птолеми иусумҭа «Мегале синтаксис» («Аргылара ду») Мраҭашәаратәи Европа араб бызшәала еиҭагоу «Альмагест» ҳәа еицырдыруеит. Арабцәа адгьыл шыгьежьу азы адыррақәа рыман, убри инақәыршәаны урҭ 827 шықәсазы Сириатәи ацәҳәыраҿы америдиан архәа ршәеит, адунеи ашәагаа рдырырц азы, астрологиатә ҭаӡҩырақәа дыриашеит, ирыцырҵеит, аеҵәақәа жәпакы ахьӡқәа рырҭеит (Вега, Альдебаран, Альтаир). Багдад, Самарканд, Дамаск ақалақьқәа рҿы иҟан аобсерваториеқәа. Индиатәи ахыԥхьаӡаратә система рхы иархәаны, арабтәи аҵарауаа ахыԥхьаӡара дуқәа рыла аус рыдулара иалагеит, урҭ рҟынтәи иааит раԥхьаӡа узбектәи аматематик Аль-Хорезми (780—847) ихы иаирхәаз «алгебра» ҳәа аилкаара. Аматематика аҟны, Ал-Баттани (850—929) атригонометриатә функциақәа (асинус, атангенс, акотангенс) аԥиҵеит, Абу-л-Вафа (940—997) агеометриеи астрономиеи рҿы иналукааша аартрақәа ҟаиҵеит. Галени Гиппократи русумҭақәа рхы иархәаны, арабтәи аҵарауаа амедицина дырҿиеит, еиуеиԥшым аминералқәеи аҵиаақәеи рыхәшәтәратә ҟазшьақәа ҭырҵааит. Ибн ал-Баитар 2600 инареиҳаны ахәшәқәеи ахәшәтәыгатәи егьырҭи аҵиаақәеи алфавитла еишьҭаиргылеит, дрыхцәажәеит, урҭ ирылан 300 раҟара иҿыцу аҵиаақәа. Арабцәа рмедицинатә дыррақәа еидикылеит Багдадтәи ахәышәтәырҭа аԥҟаҩы Муҳаммад ал-Рази (865—925) ибн Сина Абу Али (Авиценна; 980—1037) иҩымҭа «Амедицина аԥҟараԥҵәа» XII—XVII ашәышықәсақәа рзы Мраҭашәаратәи Европатәи ахәышәтәҩцәа рзы лассы-лассы рхы иадырхәоз шәҟәны иҟалеит. Арабтә офтальмологиа абла аилазаашьа иазкны иамаз адыррақәа иахьатәиқәа ирзаагәан. Афармакологиатә химиаҿы еиуеиԥшым аԥшаарақәа ҟаиҵеит алхимик Џьабир ибн Ҳаиан (721—815). Арабцәа еиуеиԥшым атәылақәа рыжәларқәа, Мраҭашәаратәи Европагьы уахь иналаҵаны, аиха, аџыр, ацәа, ахәы, уҳәа рыла иҟаҵаз иҿыцу аалыҵқәа рӡыргара рҽазыршәеит, Китаиаа ирымарыԥсахит акомпас, ахәшә, ақьаад, Мраҭашәаратәи Европаҟа иаларгалеит амарихуана, абанҭ, аџьынџь, амжәатә ҟанҷ, индиго ашәыга; абамба акультура Китаинтәи ирымаԥсахны Мраҭашәараҟа хараӡа ирыладырҵәеит; раԥхьаӡа акәны урҭ аҟарымш шьақар аарыхра иалагеит, насгьы хыԥхьаӡара рацәала абаҳчатәи ақыҭанхамҩатәи ҵиаақәа акклиматизациа рзыруит.
Аҭоурыхтәи агеографиатәи ҭҵаарадыррақәа рыҿиараҿы акырӡа аиӷьтәрақәа ҟаҵоуп. Аль-Вакиди (747—823), Аль-Балазури (820—892) ирыҩит арабцәа раԥхьатәи риааирақәа рҭоурых, Муҳаммад ал-Табари (838—923), Аль-Масуди (дыԥсит 956 шықәсазы), Ибн Кьутаибеи (IX ашәышықәсазы) азеиԥш ҭоурых иазку адыррақәеи еиуеиԥшым ажәларқәа рыԥсҭазаара иазку акрызҵазкуа адыррақәеи еизыргеит. Арабтә ҵарауааи, аныҟәаҩцәеи, аҭиҩцәеи Мысра, Џьамтәыла, Индиа, Цеилон, Индонезиа, Китаи, Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии Европа атәылақәа рахь рныҟәарақәа раан аинтерес зҵоу аинформациа аанрыжьит, урҭ рҿы, ҷыдала, Мрагыларатәи аславианцәа (аурысцәа) есыҽнытәи рыԥсҭазаара иазку акрызҵазкуа адыррақәа ыҟан. Абарҭ аусумҭақәа рҿы еиҭаҳәоуп аславиантә ҳәынҭқаррақәа Куиабиа (Киев), Славиа (Новгород), Артаниа; Аль-Масуди аӡбахә иҳәоит Саклаик напхгара ззиуаз Астарбрантәи аҳра, Дулеба напхгара ззиуаз Ванџь-Слава аҳра; урҭ аӡбахә рҳәоит славиантәи ажәларқәа зхьыԥшыз Маџьак напхгара ззиуаз Волыниан (Волын) аҳра аӡбахә. Ибн Фадлан, Ибн Руст (Ибн-Даста) аславянцәа рыԥсҭазаареи, рҵасқәеи, рымаҭәеи, русқәеи ирызкны анҵамҭақәа ҟарҵеит. Ибн Хордадбех аславианцәа Абжьаратәи Азиеи Багдади рҟынӡа излацоз амҩақәа адырбеит. Ибн Иақәыб далацәажәеит Мрагыларатәи аславианцәеи егьырҭ ажәларқәеи ирыбжьаз ахәаахәҭра. Арабтәи авторцәа аславианцәа, иаҳҳәап, Свиатослав, аҳазарцәеи абулгарцәеи рахь ржәыларақәа ирызку адыррақәа аадырԥшуеит. Арабцәа Киев рдыруан Куиаба ма Куиава ҳәа. 1150-1153 шықәсазы Киев(«gurud Küjaw») хынтә даҭааит аҭиҩы Абу Ҳамид, уи Урыстәылатәи аҭитә маҭәахәқәа, абанкнотақәа (аеш цәақәа), уҳәа убас иҵегьы ртәы далацәажәоит. Аҭуџьарцәеи аныҟәаҩцәеи рдыррақәа шьаҭас иҟаҵаны араб ҵарауаа ишьақәдыргылеит ирдыруаз адунеи ахсаала. Ииашоу адыррақәа инарываргыланы араб ҵарауаа русумҭақәа рҿы иуԥылоит имаҷымкәа афантастикатә хыҭҳәаақәа[14].
- Византиа
- Византиатәи аимпериаҿы ажәытәтәи аҭҵаарадыррақәеи аҟазареи рыҿиара иалагеит IX ашәышықәса агәҭаны аепископ Лев Математик ихаан. Уаҟа Магнавра аҳҭынраҿы иаадыртит иреиҳау ашкол, уи арҵаҩцәа аберҭыԥқәа рҿы иҵәахыз ажәытә шәҟәқәа реизгара иалагеит. Аҳҭынраҿтәи аграмматикцәа антикатә напылаҩырақәа рыла иҭәыз абиблиотека ду еизыргеит, насгьы азакәан, аҭоурых, агрономиа ирызку аусумҭақәа аԥырҵеит, еиҭаргеит. Убас, ауаа ҿыцны ирдырит Платон, Аристотель, Евклид, уимоу Адгьыл шыгьежьу атәгьы[15].
Алаҭын Мраҭашәара

Ари апериод азы аҵаратә центрқәас иҟаз аберҭыԥтә школқәа ракәын. Аха урҭ зегь раԥхьаӡа иргыланы амонахцәа рзы иҟан, насгьы аҵаратә программа зегьы рзы аԥхьашьеи Абиблиа аҵареи ракәын изызкыз. Аха иҟан ҷыдалатәи аҭагылазаашьақәа: иуахәаматәым аҭҵаарадыррақәа ҭырҵаауан Ирландиа аберҭыԥқәак рҿы, иара убасгьы еицырдыруа Вивариум аҿы (Иониатәи амшын аԥшаҳәаҿы иҟаз аберҭыԥ), уи аристократ ауриа Кассиодор VI ашәышықәса ҳара ҳеразы иаԥиҵеит.

Ауахәама аиҳабыра иуахәаматәым аҭҵаарадыррақәа рыгәра ргомызт. Убас, Римтәи апап Григори I (инықәырԥшны 550—604 ашықәсақәа) Венатәи аепископ изиҩуан:
Ҳара иҳаҳаит ԥхашьарада ҳаззымхәыцуа ажәабжь, аӡәы аграмматика иурҵоит ҳәа. Ҳара даараӡа иаҳцәымӷу ари ажәабжь даара ибааԥсу анырра ҳанаҭеит[16].
Аха, абжьаратәи аамҭақәа раан, Европа раԥхьаӡа аҭҵаарадырратә дыррақәа рылазырҵәоз ауахәама анапхгаҩцәа ракәын. Убас, Испаниатәи аепископ Исидор Севильиатәи (инықәчрԥшны 560—636 ашықәсқәа) еидикылаз антикатә аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа ренциклопедиақәа — «Аетимологиақәа», «Амаҭәарқәа рыԥсабара иазкны» — даараӡа ауаа ирылаҵәеит. Аха урҭ аусумҭақәа рыҩаӡара лаҟәын; убас, Адгьыл шыгьежьу азы аҭҵаарадырратә гәаанагара далацәажәо, Исидор иаҳа дадгылоит Адгьыл ҟьаҟьоуп ҳәа иҟоу архаикатә концепциа[17].
Ԥыҭрак ашьҭахь Британиатәи амонах Ҳаҭыр ӡқәу Беда (Достопочтенныи) (инықәырԥшны 672—735 ашықәсқәа) ииҩыз «Амаҭәарқәа рыԥсабара иазкны» атрактат аҩаӡара акырӡа еиҳан. Аԥҵамҭа «Аамҭа аԥхьаӡара иазкны» аҿы Беда еилыкка иаирԥшуеит Адгьыл шыгьежьу аконцепциа, уи ахархәарала иҳаилнаркаауеит аҵх алашьцареи амш алашареи реиҟарамра[18]. Беда астрономиа бзианы издыруаз иаҳасабалеи Амшаԥы амш ашьақәыргылара иадҳәалоу иуадаҩыз амзартә проблемазы аспециалистк иаҳасабалеи дырдыруан.
- Каролингтәи аамҭа (IX—XI ашәышықәсақәа)
Европатәи аҵарадырраҿы аԥсахра ду ҟалеит VIII ашәышықәса анҵәамҭазы, Аимператор Карл Ду ихаан. Иара иҭижьыз аусԥҟала, аныхабаақәеи аберҭыԥқәеи рҿы ашколқәа реиҿкааразы адҵа ҟаҵан, уаҟа адоуҳатә дыррақәа инарываргыланы ироуан иуахәаматәым адыррақәагьы. Аиҭакрақәа драԥшьгаҩын британтәи амонах Алкуин, Карл адҵа ҟаиҵеит Аахен иҟоу иҳҭынраҿы аимпериатә ҭаацәара алахәылацәа рзы ашкол («академиа») аԥиҵарц, уаҟа зхы иақәиҭу быжь-ҟазарак рҵон: аграмматика, алогика, ариторика, астрономиа, арифметика, агеометриа, амузыка.
Раԥхьаӡа, Карл Ду иҵаратә реформа аамсҭцәа ракәын изызкыз: иааикәыршаны иҟаз ақыҭақәа рҟынтәи ахәыҷқәа аҵара ахьырҵоз аберҭыԥтә школқәа рӷьырак аркын[19]. Ус шакәызгьы, Карл Ду иаԥиҵаз апроцессқәа ирыбзоураны ақалақьуаа рыбжьара аҵарадырра еизҳаит. Аберҭыԥтә школқәа ирыҿырԥшны, IX—XI ашәышықәсақәа рзы ақалақьтә школқәа (еиҳарак акафедралтә ныхабаақәа рҿы аус зуаз) еиҳа иҭбааз аҵаратә программақәа рыман: адинҭҵаара анаҩсангьы, зхы иақәиҭу аҟазареи иуахәамамтәым алитературеи ддырҵон. Уи абзоурала аҭҵаарадыррахь азҿлымҳара еизҳаит[20].
Европа ауааԥсыра рҭҵаарадыррақәа хыҵхырҭас ирыман ажәытә аурымтә авторцәа Плини, Маркиан Капелла, Макроби, Халкидиа ренциклопедиатәи рахцәажәаратәи усумҭақәа[21]. Убри аамҭазы, ари апериод аҿы иҩуаз ашәҟәыҩҩцәа ԥыҭҩык шьаҭас иргон еиуеиԥшым иаҭҵаарадырратәым, афантастикатә хыҵхырҭақәа; убас, Павел Диакони, Ноткер Заикеи, егьырҭ авторцәа ԥыҭҩыки еиуеиԥшым ихыҭҳәаау аԥстәқәа шыҟоу рҳәеит, иаҳҳәап, ала рхы змоу ауаа, аминотаврқәа, аваслискқәа, ахы змам, шьапык змоу, блак змоу ауаа, уҳәа убас иҵегьы (арҭ ахаҵарақәа XIII ашәышықәсанӡа иҟан)[22].

Ари апериод аҿы акыр зҵазкуа хҭысны иҟалеит 847 шықәсазы анемец динҭҵааҩы, аббат Рабан Мавр (Алкуин иҵаҩы) ииҩыз 22 том змаз аенциклопедиа «Амаҭәарқәа рыԥсабара иазкны». Абжьаратәи ашәышықәсақәа рдоуҳа аныԥшит Рабан обиективла «ажәақәа рҟазшьақәеи амаҭәарқәа рыԥсабареи» рнаҩсангьы, урҭ рмистикатә еилкаара ақьырсианра иашьашәаланы иҩит. Рабан иенциклопедиа 22 том асимволтә ҵакы амоуп, Ажәытәтә Уасиаҭгьы 22 шәҟәқәы роуп иҟоу, уи алагьы иақәҿнаҭуеит, насгьы Ауасиаҭ Ҿыц аларҵәаратә жәалагалак аҳасабала иахәаԥшуеит.
Ари апериод аан имаҷыз апрофессионалтә ҵарауаа дреиуоуп, иаҳҳәар ауеит иара заҵәык иакәын иҟаз ҳәа, афранцыз монах Герберт Орилиаксктәи (инықәырԥшны 946—1003), иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Сильвестр II ҳәа ахьӡ иҭаны Римтәи папас дҟаҵан. Герберт Испаниаҟа иныҟәараан арабтәи аҵарауаа ирҿиҵаауан астрономиеи аматематикеи. Реимстәи акафедралтә ныхабаа аҟны иҟаз ақалақьтә школ аҿы рҵаҩыс аус иуан, иара ихы иаирхәон ихаҭа иаԥиҵаз, насгьы зхаҭабзиара еиӷьитәыз астрономиатә мыругақәа. Герберт абака ахархәара еиҭеиҭеит, арабтә цифрақәеи (Испаниа даныҟаз ииҵаз) насгьы жәаба-жәабалатәи ахыԥхьаӡаратә асистемеи аматематикатә ԥхьаӡаарақәа рпрактикаҿы ахархәара аиҭеит.
Ари апериод азы асхоластика ӷәӷәала аҿиара иалагеит, уи Аатра мацара акәымкәа, логикала ахшыҩҵакқәа шьаҭас измоу динҭҵааран. Ари ахырхарҭа ахаҭарнакцәа рахь иаҵанакуеит Иоанн Скот Ериуген (инықәырԥшны 810—878), Ансель Кентербериисктәи (1033—1109), Беренгар Турсктәи (инықәырԥшны 1000—1088), Иоанн Росцелин (инықәырԥшны 1050—1122).
Аха уи аамҭазы аҭҵаарадырреи иуахәаматәым афилософиеи рҿагылара ӷәӷәақәа ыҟан. Ари аиҿкаара напхгаҩыс даман XI ашәышықәсазы анырра ду змаз Италиатәи адинхаҵаратә усзуҩы, акардинал Петр Дамиани (1006/1007—1072). Иара иҳәеит:
Избан ақьырсианцәа аҭҵаарадырра зырҭаху? Амра рбарц азы арлашага адыркуама[23]? ...Платон аԥсабара амаӡақәа ҭиҵаауеит, апланетақәа рорбитақәа шьақәиргылоит, аеҵәақәа рныҟәарақәа иԥхьаӡоит — сара абарҭ зегьы мап рцәыскуеит. Пифагор Адгьыл асфераҿы апараллельқәа ааирԥшуеит — сара уи ҳаҭыр ақәысҵом... Евклид игеометриатә фигурақәа ирызку ауадаҩрақәа дыриааирц даҿуп — сара уигьы мап ицәыскуеит[24].
Логикала ишьақәырӷәӷәамшәа убозаргьы Дамиани итрактат «Анцәа зегьы зымчу» аҿы иҳәоит Анцәа иҭахызҭгьы ииасхьоу аамҭагьы иԥсахыр илшоит ҳәа. Аҭҵаарадырра аҿиареи уи аҟазаареи логикада иахьзыҟамло азы, ари атезис аҭҵаарадырреи иааизакны арационалтә дырреи рыҿиара аанкылара алнаршоит.
- XII ашәышықәса Аренессанс
XII ашәышықәсазы акультура еиҳа иуахәаматәым аҟазшьа аиуит, уи аԥхьатәи аамҭазы аасҭа. Ари апериод азы Европатәи акультуратә ԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа аԥсахрақәа ҟалеит: авагантцәа рпоезиа ацәырҵра, аҳ Артур ицикл, Тристани Изольдеи рлегенда реиԥш иҟоу еицырдыруа алитературатә усумҭақәа раԥҵара, архитектураҿы астиль ҿыц — аготика аҿиара. Асхоластика еиҳа-еиҳа аҿиара аиуит, еиҳарак Пьер Абеларди Гильберт Порретантәии реиԥш иҟоу ахьӡқәа рыла. Афилософцәа антикатә ҭынхахьы рхы дырхеит. XII ашәышықәса алагамҭазы инхоз афранцыз хәыцҩы Бернар Шартртәи ишиҳәаз ала,
Ҳара адауцәа рыжәҩахырқәа ирықәлаз аҵанаа ҳауп. Ҳара урҭ раасҭа еиҳаны ихараны иаҳбоит, ус изаҳбо ҳаблақәа еиҳа иҵаруп, ҳара ҳхаҭа ҳҳаракуп азы акәӡам, урҭ ҳашьҭыхны рыҩаӡара дуқәа рҟынӡа ҳахьхаргалаз азы ауп[25].
Аиҭакра бзиақәа аҭҵаарадыррагьы ианырит.
XII ашәышықәса аламҭалазы Европа алаҭын бызшәала аҭҵаарадырратә литература ыҟамызт ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Аха, X—XI ашәышықәсақәа рзы европаа џьоукы адыррақәа рырҳаразы ныҟәара Испаниаҟа ицеит, уаҟа Арабтә дунеи аҭҵаарадырратә центр дуқәа ыҟан (ҿырԥштәыс иаагозар, Герберт Орильяксктәи — анаҩс Римтәи апапа Сильвестр II). Урҭ рыҩныҟа ихынҳәит зыхә ҳараку араб бызшәала иҩыз ашәҟәқәа рыманы, урҭ иаразнак алаҭын бызшәахьы еиҭаргеит. Ажәытә бырзен ҵарауаа русумҭақәагьы налаҵаны, арабтә аҭҵаарадырратә литература аиҭагаратә процесс ӷәӷәа XII ашәышықәсазы иалагеит. Ари аиҿкаараҿы зегь реиҳа активра аазырԥшуаз Толедо аус зуаз Италиатәи Герардо Кремонсктәи (инықәырԥшны 1114—1187) иакәын, уи аматематика, астрономиа, аоптика, афилософиа, амедицина ирызку ашәҟәқәа 70 инареиҳаны араб бызшәа аҟынтәи алаҭын бызшәахьы еиҭеигеит. Урҭ рҟны иҟан Птолемеи иҩымҭа «Альмагест», Евклид иҩымҭа «Алагамҭа», Аристотель иҩымҭақәа «Афизика», «Ажәҩан иазкны», насгьы егьырҭ аԥсабараҭҵааратә трактатқәа, Архимед иҩымҭа «Агьежь ашәара иазкны», Гиппократи Галени рмедицинатә трактатқәа, иара убас аԥсылман ҵарауаа Сабит ибн Корра, ал-Кинди, Авиценна, ал-Хаисам, ал-Фараб, ар-Раз русумҭақәа.

Араб бызшәа аҟынтә алаҭын бызшәахьы еиҭазгоз иналукааша аӡә иакәын англыз философ, аныҟәаҩҩ Баттәи Аделард (инықәырԥшны 1080—1160). Иара араб бызшәа аҟынтәи алаҭын бызшәахьы еиҭеигеит Евклид иҩымҭа «Алагамҭа» насгьы ал-Хорезми иҩымҭа «Зидж» (астрономиатә ҭаӡҩырақәа астрономиа атеориатә хәҭа иацны), раԥхьаӡа акәны Европа ауааԥсыра атригонометриа иабаирдырит. Сицилиагьы аус ауан аиҭагаҩцәа рышкол.
XI ашәышықәсазы асхоластика ашьаҭаркҩцәа руаӡәк Ансель Кентербериисктәи иҳәеит Анцәа иҟазшьа бзиақәа ирылҵшәаны ишьақәиргылаз аԥсабара аиҿкаара шимԥсахуа ала ажәа шьҭеиҵеит, убри алагьы хатәгәаԥхарала ихатәы мчра аԥкра азиуит ҳәа. Анаҩс Пьер Абеларгьы уи аҩыза агәаанагара дадгылон: адунеи анишаз, Анцәа аԥсабара иаҭахыз зегь аиҭеит, убри аҟынтә уажәы уи аҟазааразы Ҳазшаз иҟынтә анырра аҭахӡам[26]. XII ашәышықәса алагамҭазы афилософиатә концепциа ҭбаахеит, уи инақәыршәаны адунеи, Анцәа ишишазгьы, анаҩс иара ахатә (Анцәа иаиҭаз) азакәанқәа рышьаҭала аҿиара аиуит; Анцәа ихаҿсахьала, иеиԥшны иишаз ауаҩы ахшыҩ иоуеит, уи абзоурала урҭ азакәанқәа рдырра илшоит, насгьы рационалла зеилыркаара алымшо аҭагылазаашьақәа раан Анцәа ииашаҵәҟьаны иҽалаирхәит ҳәа еилкаатәуп. Ари ахырхарҭаҿы зегьы раасҭа улаԥш иҵашәо ахаҭарнакцәа дыруаӡәкуп Баттәи Аделард, уи иусумҭа «Аԥсабаратә зҵаарақәа» аҿы иааирԥшит[27]. Ари ахәаԥшышьа еилыкка иааԥшит Шартртәи ашкол аԥсабаратә философцәа русумҭақәа рҿы[28][29] — Конштәи Гильом, Шартртәи Тьерри, Сильвестртәи Бернар. Шартртәи ахәыцҩцәа адунеи аҿиара ииашаҵәҟьаны анцәа иҽалаирхәуам ҳәа аԥсабаратә концепциақәа шьақәдыргылеит.
Абеларди, Аделарди, Шартртәи ашкол аԥсабаратә философцәеи ррационалисттәи рнатуралисттәи хәаԥшышьақәа аконсервативтә динхаҵаратә усзуҩцәа ӷәӷәала ирықәыӡбон. Конштәи Гильом урҭ рыӡбахә иҳәоит иусумҭа «Адунеи афилософиа» аҟны:
Урҭ рхаҭақәа аԥсабара амчқәа рыздырӡом, насгьы ауаа зегьы урҭ реиԥш амчқәа рзымдыруазар рҭахуп; урҭ ирҭахӡам аӡәы аҭҵаарақәа мҩаԥигарц, аха еиӷьыршьоит анхацәа реиԥш рыгәра ҳгалар, зегьы зыхҟьо аԥсабаратә мзызқәа ҳарзымҵаарц. Аха, ҳара иаҳҳәоит, зегьы зыхҟьо ҭҵаатәуп ҳәа... Аха абарҭ ауаа... аӡәы аҭҵаара иҽалаирхәуеит ҳәа рдыруазар, деретикуп ҳәа рыладырҵәоит[30][31].
Аортодоксцәа рнапхгаҩы иакәын абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы зегь реиҳа анырра змаз адинхаҵаратә усзуҩцәа ируаӡәкыз аббат Бернар Клервосктәи. Бернар ӷәӷәала дақәыӡбон адырра ахаҭазы аԥсабара адырра, иара убасгьы ахшыҩ ацхыраарала адин ахаҭа аҵакы аилкаара аҽазышәарақәа зегьы. Иара иоуп ихьыԥшым ахәыцра аазырԥшуаз афилософцәа (Пьер Абелиари Гильберт Порретансктәи) ирҿагыланы еиуеиԥшым аинквизициатә процессқәа аԥызҵаз, уи акатоликра аҳәаақәа ирҭагӡазаргьы[32]. Бернар иҩызцәа руаӡәк Конштәи Гииом аересиа дахаҭарнакуп ҳәа ахара идиҵеит.
- Асхоластика
Атеологиа ҭҵаарадыррак аҳасабала аҟаҵаразы, асхоластцәа аҭҵаарадырра закәу иазку азҵаара анаҩсангьы, уи ыҟазар захәҭоу азҵаара ықәдыргылеит. Адырраҿы уи аҵаки аусуреи реиҩдыраара аҭахуп ҳәа иазнеиуан асхоластцәа. Урҭ рзы уи аиԥшымра ԥсахшьа амамызт, избан акәзар уи аҩыза азнеишьа рыԥшааит ахаҵараҿы, уаҟа аобиективтәи асубиективтәи аганқәа еиларҩашьатәым. Ақьырсиан динхаҵара аҵакы узыԥсахуам, аха ишхарҵои уи аҵакы аилкааратә шьақәгылашьақәеи ахаҵаҩцәа реиуеиԥшымра инақәыршәаны рҽырыԥсахуеит.
Асхоластцәа излазгәарҭо ала, аҭҵаарадырра маҭәарс ирыԥхьаӡо амаҭәарқәа рхаҭақәа ракәӡам, амаҭәарқәа рҿы иҟоу изеиԥштәиу, ихымԥадатәиу амаҭәарқәа роуп. Адырра, ацәанырратә еилкаарала ишҳанаҭо ала, аҵакы ахала акәымкәа, апрактикатә ҭахрақәа рҵакы мацароуп иамоу. Ари аилкаара аҟынтәи даҽа дыррак ҳауеит, аҭҵаарадырра хырхарҭас иамоуп азеиԥш еилкаара, аха аобиектс ирымоу азеиԥш еилкаара акәӡам, урҭ рыла изызхәыцуа амаҭәарқәа роуп: алогика уахь иаламҵакәа. Арҭ реиԥш иҟоу аилкаарақәа аҭҵаарадырра ииашоу аҵакы анаҭоит. Аха, ари ззаҳҳәар ҳалшо абжьаратәи аамҭақәа рзы иҟаз ахәыцра - ареализм захьӡу ахырхарҭа мацаразы ауп: асхоластикатә реализм ииашаҵәҟьаны амаҭәарқәа рҿы иҟоу азеиԥш еилнакаауеит, егьи, иаҿагылоу ахырхарҭа — аноминализм — аилкаареи, ажәақәеи, ахьӡқәеи мацара роуп адырра аҵакы ҳәа иаԥхьаӡоит. Ахԥатәи алҵшәа — аҭҵаарадыррақәа рацәоуп, урҭ робиектқәа ракәны иҟалар зылшо ахьырацәо азы. Аҭҵаарадырра асхоластика иахәҭакны агәаԥхашәатә ҵакы арҭон, уи алагьы аҭҵаарадырра зыҟалар акузеи ҳәа иқәгылаз азҵаара аҭак ҟарҵон.
- Аиҭарҿиара
Аиҭарҿиара аамҭа, еиуеиԥшым аганқәа рыла VI ашәышықәса ҳера ҟалаанӡа иҟалаз ареволиуциа иаҿурԥшыр алшоит, аемпирикатәи адогматика аҟынтәи зхы иақәиҭу арационалисттә ҭҵаарақәеи рахь аиасра ҟалеит. Уи азы ацхыраара ҟанаҵеит акьыԥхьра аԥҵара (XV ашәышықәса азбжазы), ԥхьаҟатәи аҭҵаарадыррақәа рзы ашьаҭа ӷәӷәала иарҭбааит. Зегь раԥхьаӡа иргыланы, агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рышьақәгылара, мамзаргьы studia humana (атеологиа иаҿырԥшны — studia divina ҳәа изышьҭаз); XV ашәышықәса азбжазы Лоренцо Валла иҭижьуеит атрактат «Константин иҳамҭа аԥаршеира иазкны», убас ала атекстқәа рыҭҵаарадырратә сахьа ашьаҭа шьақәиргылоит; шәышықәса рышьҭахь, Скалигер аҭҵаарадырратә еишьҭагылашьа ашьаҭа шьақәиргылеит.
Убри аан, ирласны аемпирикатә дырра ҿыцқәа реизгара мҩаԥысуеит (еиҳарак аиспанцәа Америка анаадыртыз ашьҭахьи, насгьы апортугалцәа ргеографиатә аартрақәа дуқәа репоха алагамҭеи), аклассикатә традициа иааннажьыз адунеи асахьа даҽа блалак ала уахәазырԥшуаз. Коперник итеориагьы уи ӷәӷәала иаԥырхагоуп. Абиологиеи ахимиеи рахь азҿлымҳара еиҭаҿиоит[33].
Иахьатәи аҭҵаарадырра аира

Иахьатәи аексперименталтә ԥсабаратә ҭҵаарадырра ианалага XVI ашәышықәса анҵәамҭазы ауп. Уи ацәырҵра шьаҭас иаиоуит апротестанттә реформациеи акатоликтә контрреформациеи, абжьаратәи аамҭақәа рзы адунеихәаԥшышьа ашьаҭақәа ахьынӡаиашоу азҵаара шьҭыхын. Лутери Кальвини адинхаҵаратә доктрина шырыԥсахыз еиԥш, Коперники Галилеои русумҭақәа Птолемеи иастрономиа мап ацәнакит, Везалии ишьҭанеицәеи русумҭақәа ахәшәтәраҿы акырӡа аԥсахрақәа аланагалеит[34]. Абарҭ ахҭысқәа ирыбзоураны иалагеит иахьа аҭҵаарадырратә револиуциа ҳәа изышьҭоу апроцесс.

Аҭҵааратә методологиа ҿыц атеориатә ҵаҵӷәы Франсис Бекон итәуп, уи иҩымҭа «Органон ҿыц» аҿы атрадициатә дедуктивтә знеишьа ацәхьаҵра шьақәирӷәӷәеит (азеиԥш — гәынхәҵысҭалатәи агәаанагара мамзаргьы авторитеттә ӡбара аҟынтәи хаҭалатәи, даҽакала иуҳәозар, фактлатәи ахь) аиндуктивтә знеишьахь (хаҭалатәи — аемпирикатә факт — аҟынтәи азеиԥш ахь, даҽакала иуҳәозар, азакәанеиҿкаашьахь). Декарт, ҷыдала Ниутон рсистемақәа рыцәырҵра — аҵыхәтәантәи аексперименталтә дыррақәа шьаҭас ирыман — иахьатәи аамҭазтәи аҭҵаарадырреи ажәытәтәи абжьаратәи аамҭақәа рытрадициеи аиҟәыҭхара иалҵшәахеит. 1687 шықәсазы «Аԥсабаратә философиа аматематикатә алагамҭақәа» ркьыԥхьра аҭҵаарадырратә револиуциа акульминациа акәын, насгьы Мраҭашәаратәи Европа уаанӡа иҟамлацыз аҭҵаарадырратә ҭыжьымҭақәа рахь аинтерес аизырҳара цәырнагеит. Ари апериод аҿы инхоз егьырҭ аҵарауаа рҟынтә, Браге, Кеплер, Галлеи, Браун, Гоббс, Гарвеи, Боил, Гук, Гиуигенс, Леибниц, Паскаль аҭҵаарадырратә револиуциаҿы рлагала ду ҟарҵеит.
XVII ашәышықәса, «Ахәыцра аамҭа» ԥсахын XVIII ашәышықәса, «Аҵарадырра аамҭа» ала. Ниутон, Декарт, Паскаль, Леибниц иаԥырҵаз аҭҵаарадырра ашьаҭала, иахьатәи аматематика, аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рыҿиара иацырҵеит Франклин, Ломоносов, Еилер, де Биуффон, д'Аламбер. Ирацәаны аенциклопедиақәа аԥҵан, Дидро «Иенциклопедиагьы» уахь иналаҵаны, аҭҵаарадырра аларҵәара аиуит.
Аԥсабараҭҵаараҿы иҟалаз аҭҵаарадырратә револиуциа афилософиеи ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәеи рҿы аԥсахрақәа аанагеит, урҭ рыҿиара адинҭҵааратә еимакқәа ирыдҳәаламызт. Канти Иуми идинтәым афилософиа ауасхыр шьҭарҵеит, Вольтери атеизм аларҵәареи ауааԥсыра рзы афилософиатә зҵаарақәа рыӡбара ауахәама зынӡа иаҟәырыҭхеит. Адам Смит, Давид Рикардо русумҭақәа рыла иахьатәи аекономика ашьаҭа шьҭарҵеит, Америкатәии Франциатәии ареволиуциақәа рыла адунеи аҿы иахьатәи аполитикатә еиҿкаара ашьаҭа шьақәдыргылеит.
Иахьатәи аҭҵаарадырра

XIX ашәышықәсазы ауп аҭҵаарадырра азанааҭтә ҟазшьа анаиуз, насгьы «аҵарауаҩ» ҳәа аилкаара аҵара змаз ауаҩы изы мацара акәымкәа, аҵара змаз ауаа рыхәҭак рзанааҭ ауп ҳәа аанаго иалагеит. Ари апериод аан, ҳаамҭазтәи аҭҵаарадырра аинститут хадақәа шьақәгылеит, ауаажәларраҿы аҭҵаарадырра иааннакыло ароль еизҳацыԥхьаӡа, аҳәынҭқаррақәа русура аганқәа жәпакы рҿы уи аҵак ҷыда аанакылеит. Абарҭ апроцессқәа амч ду рынаҭеит ааглыхратә револиуциа, уаҟа аҭҵаарадырратә дыррақәеи атехнологиатә ҿиарақәеи еилаҵәеит. Атехника аҿиара аҭҵаарадырра аҿиара иацхрааит, аҵыхәтәантәи, анаҩс, атехнологиа ҿыцқәа рзы ашьаҭа аԥнаҵеит.


Афизика аҿиара аиуит абжьаратәи ашәышықәсақәа раан Мрагылараҟны аԥсылманцәа рҿы. Аԥсылман ауриа афизик, аԥсабаратә философ Абуль Баракат Натанель аҭҵаарадырратә метод дадгылан, насгьы аԥышәарақәа рымҩаԥгара акырӡа аҵанакуеит ҳәа иԥхьаӡон[35]. Иара иҩит ашәҟәы «Китаб ал-Му'табар», уаҟа Аристотель ифизикеи ифилософиеи дрықәыӡбон, иахьатәи аконцепциақәа ирзааигәоу аконцепциақәа аԥиҵеит.
Уи абжьаратәи аамҭақәа рзы амеханикатә ҵысра атеориа аҿиараҿы алагала ду ҟаиҵеит[36] — аимпетус атеориа. Аҵысра иазкны Натанел агәра ганы дыҟан: «Икаҳауа амаҭәарқәа рырццакра аилыркаара рыдгалахоит амчхара аизырҳара аизгарала, уи еишьҭанеиуа аццакра аманы». Ари аклассикатә механика азакәан ауп — еиԥмырҟьаӡакәа аус зуа амч аццакыра цәырнагоит. Абуль Баракат Натанел итеориа иаанарԥшит аҵысреи, аццакыреи, арццакыреи рыбжьара иҟоу аиԥшымра, амчи арццакыреи еицеиҟароуп, амчи аццакыреи мап[37][38][36].
Абуль Баракат Натанел Аристотель аамҭа «аҵысра ашәага» ҳәа иконцепциа дақәыӡбеит, аамҭа «аҟазаара ашәага» ҳәа иазиԥхьаӡеит[39].
Агравитациа аклассикатә теориа Ниутон иаԥиҵеит. Абас еиԥш иҟоу афымцеи амхылдызи ирызку атеориа цәырҵит XIX ашәышықәсазы Фарадеи, Ом, Максвелл русумҭақәа рыбзоурала.
XX ашәышықәса алагамҭазы афизикаҿы ареволиуциа ҿыцк ҟалеит. Ниутон иклассикатә механика агхақәа ааԥшит, насгьы уи ахархәара аԥкра аиуит. Амикродунеи афеноменқәа рыхцәажәаразы, Макс Планки Нильс Бори акванттә механика ашьаҭа шьҭарҵеит, насгьы алашара аццакыра иаҿырԥшуа ахареи аццакыра дуқәеи рзы Альберт Еинштеин азыҟашьара (относительноть) атеориа аԥиҵеит. 1920-тәи ашықәсқәа раан, акванттә теориа аппарат Геизенберги Шредингери идырҿиеит, аԥышәараҿы иубо аелементартә ҟәырҷахақәа рхымҩаԥгашьа иашарала ирхцәажәарц азы, насгьы Едвин Хаббл иастрономиатә гәаҭарақәа ишьақәдырӷәӷәеит ихароу агалактикақәа рхымҩаԥгашьа Еинштеин иԥҟарақәа ишрықәшәо, анаҩс уи иалнаршеит иахьа иаҳбо Адунеи аҿиара ҳзырбо Аԥжәара Ду атеориа аԥҵара.
Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра атомтә бомба аԥҵара иацхрааит, иалагеит аинвестициа дуқәа зҭахыз афизикатә ԥышәарақәа, амашьына дуқәа раԥҵара, насгьы иаҭаххеит аҵарауаа рхыԥхьаӡара аизырҳара. Урҭ аусура рызҭоз аҳәынҭқаррақәа ракәын, урҭ арреи ааглыхреи рзы аҭҵаарадырреи атехникеи ирымоу аҵакы еилыркаауан.
Иахьатәи ахимиа аҭоурых алагоит Роберт Боил ишәҟәы «Ахимик аскептик» (1661) ала, уи ала аҭҵаарадырраҿы акритикала азхәыцшьа аметод ашьақәгылара иалагеит, иара убасгьы Каллен, Блак, егьырҭ амедицинатә химикцәа русумҭақәа рыла, урҭ русураҿы ахыԥхьаӡаратә методқәа инарҭбааны рхы иадырхәон. Анаҩстәи акыр зҵазкуа ашьаҿа ҟаиҵеит Антуан Лавуазие, уи аамҭазы иҟаз афлогистон атеориа мап ацәкны, абылра аҵәыҵәритә теориа аԥиҵеит, акапан аиқәырхара азакәан шьақәиргылеит (уи ихьыԥшымкәа, уи азакәангьы Михаил Ломоносов ишьақәиргылеит).
Ари, насгьы егьырҭ ахимиатә закәанқәа рзы зегь реиҳа илогикатәу еилыркаарахеит (XIX ашәышықәса алагамҭазы астехиометриа азакәанқәа ԥыҭрак шьақәдыргылеит) Џьон Далтон иатомтә теориа, уи инақәыршәаны амаҭәашьар ахимиатәи афизикатәи ҟазшьақәа зегь реиҳа ихәыҷу ахәҭакәа рҟазшьақәа рыла иалкаауп. Уи ашьҭахь ахимиа зегь реиҳа ихадоу аусқәа иреиуан атомтә капанқәа рышьақәыргылара, уи шьаҭас иҟаҵаны Дмитри Менделеев 1869 шықәсазы адунеи азакәан хадақәа иреиуоу — апериодтә закәан ааиртит.
1820-тәи ашықәсқәа рзы, Волер арымӡла иҟаиҵаз ахимиатә синтез иабзоураны аорганикатә химиа аамҭаиалагеит. XIX ашәышықәсазы, ахимикцәа органикатә еилаҵақәак шәкы асинтез рзыруит, ашәышықәса анҵәамҭазы урҭ анаплакытә химиатә синтез азы хархәагас анефт ргеит. XX ашәышықәсазы, анефт абылтәы мацара акәымкәа, асинтетикатә материал ҿыцқәа раарыхразы хыҵхырҭаны иҟалеит, ҷыдала абеи апластмасси.
1847 шықәсазы Венгриатәи аҳақьым Игнац Филипп Земмельвеис иҩызцәа ахшараиурҭахь инеиаанӡа рнапқәа рыӡәӡәарц рыдиҵеит, ари абжьгара мариа аинфекциатә чымазара иахҟьаны ахәыҷқәа рыԥсра армаҷит. Аха Земмельвеис иҟаиҵаз ахәаԥшрақәа емпирикала иахьыҟаз азы, урҭ зегьы ирыдыркыломызт, иаразнакгьы ирыламҵәеит. 1865 шықәсазы Џьозеф Листер антисептика апринципқәа анаԥиҵа ашьҭахь ауп ахәышәтәраҿы аинфекциатә чымазара аиааира аналыршаха.
Уи шьаҭас иамаз Луи Пастер иҟаиҵаз аԥшаарақәа ракәын, уи абаара, аҵәырра, ачымазарақәа амикроорганизмқәа ирыдиҳәалеит. 1880 шықәсазы иара илшеит аапкра зхәышәтәуа ахәшә аԥҵара, иара убасгьы аиҵаршра аԥҵара[40].
XIX ашәышықәсазы иреиҳау аҭҵаарадырратә еихьӡарақәа иреиуан Чарлз Дарвин 1859 шықәсазы иҟаиҵаз аԥсабаратә алхрала аеволиуциа атеориа. Дарвин игәаанагарала, уажә иҟоу зегьы, насгьы иаадыртхьо ажәытә хкқәа, миллион шықәсала имаҩаԥысуа аԥсабаратә алхра иабзоуран, ауаҩы зқьышықәсала иԥсабаратәым алхрала аҩнытә ԥстәқәеи аҵиаақәеи рхкқәа шаԥиҵаз еиԥш. Дарвин итеориа ауаажәларра рҟны анырра ду ҟанаҵеит, насгьы адунеи аҿы ауаҩы иааникыло аҭыԥ аганахьала агәаанагарақәа рыԥсахра алнаршеит.
Дарвин иусумҭақәа реиԥш акәымкәа Моравиатәи амонах Грегор Мендель (1866) иҭыжьымҭа хәыҷы акыр аамҭа ахшыҩзышьҭра амамызт. XX ашәышықәса алагамҭазы ауп аҵарауаа ианеилыркааз уи ауаҩы жәашықәсала урҭ дшыраԥхьагылаз ашьҭра азакәанқәа рыҭҵаараҿы[41]. Уи ашьҭахь, раԥхьаӡа аклассикатә, нас амолекуляртә генетика аҿиара иалагеит, иҟалап уи XX ашәышықәсазы абиологиа аҿиараҿы мчы хаданы иҟазҭгьы. 1953 шықәсазы, Џьеимс Уотсони Франсис Крики, Розалинд Франклини Морис Уилкинси рыҭҵаарақәа ирыбзоураны, уажәы зегьы еицырзеиԥшу ДНК аилазаашьеи аусуреи рмодель ҟарҵеит[42]. XX ашәышықәса аҩбатәи азбжазы агенетикатә инженериа аметодқәа аԥҵан, XXI ашәышықәса алагамҭазы, аҵарауаа ирдыруан ауаҩы игеномқәеи егьырҭ аорганизмқәеи рструктуреи, уи акыр аҵанакуан абиологиеи, ахәшәтәреи, ақыҭанхамҩеи рыҿиаразы.
Аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рҿы аҭҵаарадырратә метод қәҿиарала ахархәара иалҵшәахеит, абри аметодологиа ауаҩы иҟазшьеи асоциалтә ԥсҭазаареи рыҭҵаараҿы ахархәара ахьаиоуз.
Апсихологиа ҳаамҭазтәи аҭҵаарадыррак аҳасабала ишьақәгылеит XIX ашәышықәса анҵәамҭазы. 1879 шықәсазы Вильгельм Вундт Леипциг ақалақь аҿы апсихологиатә ҭҵаарақәа рзы мацара раԥхьатәи алабораториа аԥиҵеит. Иахьатәи апсихологиа ашьаҭаркыҩцәа рахь иаҵанакуеит Герман Еббингаус, Иван Павлов, Зигмунд Фреид. Ари ахырхарҭала анаҩстәи аусураҿы, ҷыдала Фреид иусураҿы, урҭ рнырра даараӡа иӷәӷәан, аҵакы ӷәӷәа аман рхатә усура азы акәым, зеиԥшла апсихологиа анаҩстәи аҿиара ахырхарҭазы.
XX ашәышықәса алагамҭазы Фреид итеориақәа аҭҵаарадырратә ҵакы рымамызт ҳәа иԥхьаӡан. Уи аамҭазы Едвард Титченер иатомисттә знеишьа, Џьон Уотсон ибихевиоризм, уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа рацәаны иаԥҵан. XX ашәышықәса анҵәамҭазы, егьырҭ амаҭәарбжьаратә усхк ҿыцқәа аԥҵан, урҭ зегьы еизакны акогнитивтә ҭҵаарадыррақәа ҳәа ирышьҭан. Урҭ аҭҵаарақәа рзы рхы иадырхәоит аеволиуциатә психологиа, абызшәадырра, акомпьиутертә ҭҵаарадырра, анеуробиологиа, афилософиа рметодқәа. Ахшыбаҩ аусура аҭҵааразы аметод ҿыцқәа рацәахеит, иаҳҳәап, апозитрон-емиссиатә томографиеи акомпьиутертә томографиеи, иара убасгьы иԥсабаратәым аинтеллект аус адулара.

Аклассика-политикатә економика ашьаҭа икит Адам Смит еицырдыруа иусумҭа «Ажәларқәа рбеиара аԥсабареи амзызқәеи рыҭҵаара» (1776) аҟны[43]. Смит иаамҭазы еицырдыруаз амеркантилизм атеориа дақәыӡбон, иара убасгьы ахәаахәҭра ахақәиҭреи аусура аихшареи дадгылон. Уи агәра ганы дыҟан аекономика ду ахала иҿиалар алшоит, уи амч ахатәы интерес ианаҭозар. Абарҭ алкаақәа роуп иахьатәи алиберализм шьаҭас иамоу. Смит раԥхьаӡа акәны алкаа ҟаиҵеит атауарқәа рҭыжьразы аусуратә аамҭа ахарџь ишашьашәало ала (ахә азы аџьатә теориа). Аха ари апринцип еиԥҟьарада ахархәараҿы аиқәымшәара аанарԥшит, аџьатә џьармыкьагьы уахь иналаҵаны. Смит иҟаиҵаз алкаақәа рыла, ихьыԥшым аицлабратә ҭагылазаашьаҿы акапиталист системала ахашәалахәы имоуроуп; ахашәалахәы зны-зынла мацара ауп ианыҟало. Анаҩс, Карл Маркс економикатә система даҽа модельк ааирԥшит, уи ахә ацҵара атеориа ауп. Ари атеориа инақәыршәаны, акапитализм аан аусуратә мчра тауарны иҟалоит, уи ахә ҿыц цәырнагоит, уи аусуратә мчра ахә аасҭа еиҳауп. Акапитал аҟынтәи ахашәалахәы ааглыхратә мчы зтәу акапиталист итәуп.
Марксистцәа ирымакуа Австриатәи ашкол аекономистцәа ахашәалахәы аҟазшьа анализ азура мап ацәыркит, зда царҭа амам ахәарҭара атеориа рыдыргалеит.
1920-тәи ашықәсқәа рзы, Џьон Маинард Кеинс амикроекономикеи амакроекономикеи реилкаара аекономикаҿы далацәажәеит. Кеинс итеориа инақәыршәаны, амакроекономикаҿы ицәырҵуа атрендқәа амикроекономикаҿы асубиектқәа ихьыԥшымкәа иҟарҵо аекономикатә алхраҿы анырра рырҭар рылшоит. Аџьармыкьа аиҿкааразы, аҳәынҭқарра иалшоит аекономикатә ҽырҭбаара агәазҭаҵарала аҭахра адгылара.
Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь, Милтон Фридман иаԥиҵеит еицырдыруа даҽа економикатә теориак — амонетаризм. Ари аҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны, амилаҭтә ԥара аҳәынҭқарраҿы аекономика еиҿызкаауа ахархәагақәа иреиуоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, уи аиҿкааратә институт хаданы иҟоуп Абанк Хада.
Абжьаратәи аамҭақәа рзы инхоз арабтәи автор Ибн Хальдун асоциологизы раԥхьатәи шәҟәыҩҩын ҳәа дыԥхьаӡатәуп[44]. Аха ҳаамҭазтәи асоциологиагьы XIX ашәышықәсазы иалагоит Емил Диуркгеим, Макс Вебер, Георг Зиммел уҳәа егьырҭ аҵарауаа русумҭақәа рыла. Урҭ хықәкы хадс ирыман асоциалтә еиҿкаара, асоциалтә гәыԥқәа рыбжьара иҟоу аидҳәаларақәа реилкаара, иара убасгьы ауаажәларра аиҩшара иаҿагылои арационалтә модернизациеи рзы ахархәагақәа рыԥшаара. Амикроҩаӡараҿы Зиммел иаԥиҵаз асоциологиатә ҭҵаарақәа еиҳарак еицырдыруа иҟалеит Америкатәи аҭҵаарадырраҿы, урҭ рхаҭарнакцәа дуқәа рахь иаҵанакуеит Џьорџь Герберт Мид, Герберт Блумер, иара убас аструктуратә функционализм ашьаҭаркҩы Толкотт Парсонс. XX ашәышықәсазы иаԥҵаз егьырҭ ахәыцратә школқәа иреиуоуп Ервин Гофман ишкол, насгьы арационалтә алхра атеориа.
Аполитика аҭҵаара акырӡа атрадициа шамоугьы, аполитикатә ҭҵаарадырра ҳаамҭазтәи ҭҵаарадыррак аҳасабала егьырҭ ауаажәларратә ҭҵаарадыррақәа раасҭа ихьшәаны ицәырҵит. Уи шьақәгылеит аҭоурых, аполитикатә философиа, аетика, аполитикатә економика, егьырҭ аҭҵаарадырреи афилософиеи рганқәа ахьеилало аҭыԥ аҿы. Аполитикатә феноменқәа рыҭҵаара адагьы, аполитикатә ҭҵаарадыррагьы, аетика еиԥш, «анормативтә» хәҭа амоуп, уи анапхгара идеалтәу аформа аҟазшьақәеи афункциақәеи рыӡбара ауп.
Платон, Аристотель, Фукидид, Ксенофонт, уимоу Гомер, Гесиод, Еврипид уҳәа раԥхьатәи аполитика аҵарауаа ҳәа иԥхьаӡоуп. Ажәытәтәи Рим аҟны аполитикаҿы иналукааша аспециалистцәа ракәын Иулии Цезар, Цицерон, Полибии, Тит Ливи, Плутарх, Августин, аԥсылмантәылақәа рҿы — Омар Хаиам, Фердоуси, Ибн Сина, Рамбам, Ибн Рушд, абжьаратәи аамҭақәа рзы Европа — Макиавелли.
XIX—XX ашәышықәсақәа рзы, аидеологиа, абихевиоризм, адунеизегьтәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара иадҳәаланы, аполитикатә ҭҵаарадырраҿы еиуеиԥшым ахырхарҭа ҿыцқәа цәырҵит: алхратә система атеориа, ахәмаррақәа ртеориа, агеополитика/аполитикатә географиа, аполитикатә економика, аполитикатә психологиа/аполитикатә социологиа, аҳәынҭқарратә напхгара атеориа, аиҿырԥшратә политикатә анализ, аимакқәа ртеориа.
Аҭҵаарадырратә еилазаарақәа рҭоурых

- 1435 — Понтаниана (Неаполь)
- 1652 — Леопольдина (Галле)
- 1660 — Лондонтәи аҳратә еилазаара
- 1666 — Парижтәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа
- 1700 — Берлинтәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа
- 1714 — Болониатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа
- 1724 — Санкт-Петербургтәи аҭҵаарақәеи аҟазареи ракадемиа * 1739 — Швециатәи аҳратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиа (Стокгольм)
- 1742 — Даниатәи аҳратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиа (Копенгаген)
- 1751 — Геттингентәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа
- 1757 — Туринтәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа
- 1759 — Бавариатәи аҳратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиа (Миунхен)
- 1763 — Хаидельбергтәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа
- 1779 — Лиссабонтәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа
- 1783 — Единбургтәи аҳратә еилазаара
- 1785 — Ирландиатәи аҳратә академиа (Дублин)
- 1825 — Венгриатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа (Будапешт)
- 1846 — Саксонтәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа (Леипциг)
- 1847 — Аимператортә ҭҵаарадыррақәа ракадемиа (Вена)
- 1863 — Еиду Америкатәи аштатқәа рыҭҵаарадыррақәа рмилаҭтә академиа (Вашингтон)
- егьырҭ аҭҵаарадырратә еилазаарақәеи аиҿкаарақәеи
Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа
Урыстәылатәи аҵарауаа злахәу ихадоу адунеизегьтәи аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа[45]:
- Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә хеилак (ԥасатәи ИКУС) — International Science Council (ISC)
- Жәларбжьаратәи аматематикатә еидгыла (ЖәАМ) — International Mathematical Union (IMU)
- Атеориатәи ахархәаратәи химиа иазку Жәларбжьаратәи Аидгыла (ИУПАК) — International Union of Pure and Applied Chemistry (IUPAC)
- Атеориатәи ахархәаратәи физика иазку Жәларбжьаратәи Аидгыла (ИУПАП) — International Union of Pure and Applied Physics (IUPAP)
- ИКСУ акосмос аҭҵааразы акомитет (КОСПАР) — Committee on Space Research (COSPAR)
- Жәларбжьаратәи абиологиатә ҭҵаарақәа реидгыла (ЖәАҬЕ) — International Union of Biological Sciences (IUBS)
- Жәларбжьаратәи ахшыбаҩҭҵааратә еиҿкаара (ИБРО) — International Brain Research Organization (IBRO)
- Жәларбжьаратәи афизиологиатә ҭҵаарақәа реидгыла (ЖәАҬР) — International Union of Physiological Sciences (IUPS)
- Жәларбжьаратәи астрономиатә еидгыла (ЖәАЕ) — International Astronomical Union (IAU)
- ИКСУ Антарктикатәи аҭҵаарақәа рзы аҭҵаарадырратә комитет (СКАР) — Scientific Committee on Antarctic Research (SCAR)
- ИКСУ аокеантә ҭҵаарақәа рзы аҭҵаарадырратә комитет (СКОР) — Scientific Committee on Oceanic Research (SCOR)
- Амашьынақәеи амеханизмқәеи ртеориа иазку жәларбжьаратәи афедерациа (ИФТОММ) — International Federation for the Promotion of Mechanism and Machine Science (IFToMM)
- ИКСУ амра-адгьылтә физиказы аҭҵаарадырратә комитет (СКОСТЕП) — Scientific Committee on Solar-Terrestrial Physics (SCOSTEP)
- Аҵааршәыра аҭҵааразы жәларбжьаратәи ассоциациа (ААЖәА) — International Permafrost Association (IPA)
- Атеориатәи ахархәаратәи механика иазку жәларбжьаратәи аидгыла (ИУТАМ) — International Union of Theoretical and Applied Mechanics (IUTAM)
- Жәларбжьаратәи асеисмологиатә центр (ЖәАЦ) — International Seismological Center (ISC)
- Атеориатәи ахархәаратәи биофизикеи ирызку жәларбжьаратәи аидгыла (ИУПАБ) — International Union of Pure and Applied Biophysics (IUPAB)
- Адунеи агеологиатә хсаалазы акомиссиа (ААХА) — Commission for the Geological Map of the World (CGMW)
- Жәларбжьаратәи агеографиатә еидгыла (ЖәАЕ) — International Geographical Union (IGU)
- Автоматтә хылаԥшра иазку жәларбжьаратәи афедерациа (ИФАК) — International Federation of the Automatic Control (IFAC)
- Адунеизегьтәи аҳауаҭагылазаашьа аҭҵааратә программа (АААП) — World Climate Research Programme (WCRP)
- Агеодезиеи агеофизикеи ирызку жәларбжьаратәи аидгыла (ААЖәА) — International Union of Geodesy and Geophysics (IUGG)
- Жәларбжьаратәи агеологиатә ҭҵаарақәа реидгыла (ЖәАҬР) — International Union of Geological Sciences (IUGS)
- Аԥшьбатәи апериод аҭҵааразы жәларбжьаратәи аидгыла (ИНКВА) — International Union for Quaternary Research (INQUA)
- ИКСУ аҭҵаареи атехникеи рзы ахыԥхьаӡаратә дыррақәа рзы акомитет (КОДАТА) — Committee on Data for Science and Technology (CODATA)
- Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ирызку жәларбжьаратәи акомитет (АҬЖәА) — International Committee of Historical Sciences (ICHS)
- Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә радио аидгыла (УРСИ) — Union Radio-Scientifique Internationale (URSI)
- Европатәи афизиологиатә еилазаарақәа рфедерациа (ЕФЕР) — Federation of European Physiological Societies (FEPS)
- Пугуоштәи аҵарауаа реиҿкаара (ПА) — Pugwash Conferences on Sciences and World Affairs
- Абиохимиеи амолекуляртә биологиеи ирызку жәларбжьаратәи аидгыла (ААБЖәА) — International Union of Biochemistry and Molecular Biology (IUBMB)
- Европатәи абиохимиатә еилазаарақәа рфедерациа (ЕАЕР) — Federation of European Biochemical Societies (FEBS)
- Асаркьазы жәларбжьаратәи акомиссиа (АЖәА) — International Commission on Glass (ICG)
- Аоптиказы жәларбжьаратәи акомиссиа (ИКСУ) — International Commission for Optics (ICO)
- Ахаҿсахьақәа рдырразы жәларбжьаратәи ассоциациа (АРЖәА) — International Association for Pattern Recognition (IAPR)
- Жәларбжьаратәи афилософиатә еилазаарақәа рфедерациа (ЖәАЕР) — Federation Internationale des Societes de Philosophie (FISP)
- Жәларбжьаратәи арктикатәи ҭҵаарадыррақәа ркомитет (ЖәАҬР) — International Arctic Sciences Committee (IASC)
- Ахархәаратә системтә анализ азы жәларбжьаратәи аинститут (ИИАСА) — International Institute for Applied System Analysis (IIASA)
- Иҭынчу аокеан аҭҵаарадыррақәа реидгыла (ИААР) — Pacific Sciences Association (PSA)
- Жәларбжьаратәи академиатә еидгыла (ЖәАЕ) — Union Academique Internationale (UAI)
- Аклиникатә неирофизиологиа иазку жәларбжьаратәи афедерациа (АНЖәА) — International Federation of Clinical Neurophysiology (IFCN)
- Аҭҵаарадырра аҭоурыхи афилософиеи ирызку жәларбжьаратәи аидгыла (ААААЖәА) — International Union of History and Philosophy of Science and Technology (IUHPST)
- Акристаллографиа иазку жәларбжьаратәи аидгыла (АЖәА) — International Union of Crystallography (IUCr)
- Жәларбжьаратәи агеологиатә ҭҵаарақәа реидгыла (IUGS) — International Union of Geological Sciences (IUGS)
Иара убас
- Аҭҵаарадырра аҭоурых: Ахыҵхырҭақәа, абаҟақәа, аҭынха
- СССР аартрақәа Аҳәынҭқарратә шәҟәыҵа
- Адунеи аҭҵаарадырратә сахьа
- Аҭҵаарадырратә дыррақәа рсоциологиа
- СССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа адыррақәа рҭоурых акомиссиа
Азгәаҭақәа
- ↑ Вернадский В. И. Очерки по истории современного научного мировоззрения: о научном мировоззрении // Труды по истории науки. — М.: Наука, 2002. — С. 47—49.
- ↑ См. например:
- Dampier Wetham W. C. Science // Encyclopædia Britannica.— 11th ed.— New York: Encyclopedia Britannica, Inc, 1911.
- Clagett M. Greek Science in Antiquity.— New York: Collier Books, 1955.
- Pingree D. Hellenophilia versus the History of Science // Isis, 1982.— 83, 559
- Munday P. History of Science // New Dictionary of the History of Ideas.— Charles Scribner’s Sons, 2005.
- ↑ 3,0 3,1 3,2 "Источник". Иархивтәоу аоригиналзы 7 цәыббрамза 2023 ахь. Ириашоу 7 цәыббрамза 2023 шықәсазы.
- ↑ What is the history of science? | The British Academy
- ↑ Вернадский В. И. Записка о необходимости создания Комиссии по изучению истории науки, философии и техники (Протокол от 14 мая 1921 г.) // Известия Российской Академии Наук. Серия VI. 1921. Том 15. Извлечения из протоколов заседаний Академии. С. 10-12.
- ↑ "История техники и технологий - Вениамин Федюкин, Геннадий Зайцев, Светлана Атрошенко - Google Books". Иархивтәоу аоригиналзы 7 цәыббрамза 2023 ахь. Ириашоу 7 цәыббрамза 2023 шықәсазы.
- ↑ "Годичная конференция ИИЕТ РАН". Иархивтәоу аоригиналзы 27 лаҵарамза 2023 ахь. Ириашоу 27 лаҵарамза 2023 шықәсазы.
- ↑ "Годичная конференция ИИЕТ РАН". Иархивтәоу аоригиналзы 27 лаҵарамза 2023 ахь. Ириашоу 27 лаҵарамза 2023 шықәсазы.
- ↑ История науки: Источники, памятники, наследие Архив ҟаҵан 2023-07-06 азы Wayback Machine аҟны., Вторые чтения по историографии и источниковедению истории науки и техники, 2016
- ↑ Балакин Виктор Сергеевич, Запарий Владимир Васильевич. Конференция "История науки: источники, памятники, наследие" в Москве // Вестник Южно-Уральского государственного университета. Серия: Социально-гуманитарные науки. — 2020. — № 1. Архивировано 27 лаҵарамза 2023 года.
- ↑ Гурштейн А. А. "Наука и протонаука". Иархивтәоу аоригиналзы 14 жәабранмза 2018 ахь. Ириашоу 5 рашәарамза 2018 шықәсазы.
- ↑ "Проблема периодизации истории науки: проблема различия классической, неклассической и постнеклассической науки". Философия 2008. Иархивтәоу аоригиналзы 22 лаҵарамза 2018 ахь. Ириашоу 5 рашәарамза 2018 шықәсазы.
- ↑ Большаков О. Г. Средневековый арабский город // Очерки истории арабской культуры (V—XV вв.). — М.: Главная редакция восточной литературы издательства «Наука», 1982.
- ↑ Арабская культура // Большая советская энциклопедия : [в 30 т.] / гл. ред. А. М. Прохоров. — 3-е изд. — М. : Советская энциклопедия, 1969—1978. // Большая советская энциклопедия.— М.: Советская энциклопедия. 1969—1978.
- ↑ Гаврюшин, 1983.
- ↑ Свасьян, 2002, c. 73.
- ↑ McCready, 1996.
- ↑ North, 1995, p. 228.
- ↑ Ле Гофф, 2003, c. 9.
- ↑ Eastwood, 2007.
- ↑ Eastwood, 1997.
- ↑ "Фоменко И. Карта мира: Эсхатологический ландшафт Средневековья". Иархивтәоу аоригиналзы 14 ԥхынҷкәынмза 2007 ахь. Ириашоу 30 мшаԥымза 2013 шықәсазы.
- ↑ Свасьян, 2002, c. 73-74.
- ↑ Жильсон, 2010, c. 178-179.
- ↑ Ле Гофф, 2003, c. 13.
- ↑ Dales, 1980, p. 536.
- ↑ Grant, 2001, p. 69—72.
- ↑ Stiefel, 1977.
- ↑ Ле Гофф, 2003, c. 44-45.
- ↑ Grant, 2001, p. 74.
- ↑ Lindberg, 1992, p. 200.
- ↑ Соколов, 1979, c. 184-185.
- ↑ Debus A. Man and Nature in the Renaissance. Cambridge: Cambridge Univ. Pr., 1978.
- ↑ Precise titles of these landmark books can be found in the collections of the Library of Congress. A list of these titles can be found in Leonard C. Bruno (1989), The Landmarks of Science. ISBN 0-8160-2137-6
- ↑ Shlomo Pines. Studies in Arabic versions of Greek texts and in mediaeval science. — Brill Publishers, 1986. — Т. 2. — С. 339. — ISBN 965-223-626-8.
- ↑ 36,0 36,1 Oliver Gutman. Pseudo-Avicenna, Liber Celi Et Mundi: A Critical Edition. — Brill Publishers, 2003. — С. 193. — ISBN 90-04-13228-7.
- ↑ Shlomo Pines. Studies in Arabic versions of Greek texts and in mediaeval science. — Brill Publishers, 1986. — Т. 2. — С. 203. — ISBN 965-223-626-8.
- ↑ Crombie, Alistair Cameron, Augustine to Galileo 2, p. 67.
- ↑ Y. Tzvi Langermann. Islamic Philosophy. — Routledge Encyclopedia of Philosophy, 1998.
- ↑ Campbell, N. A.; Williamson B., Heyden R. J. Biology: Exploring Life. — Boston, Massachusetts: Pearson Prentice Hall, 2006. — ISBN 0-13-250882-6. — [Архивировано 2 абҵарамза 2014 года.]
- ↑ Henig, R. M. The Monk in the Garden : The Lost and Found Genius of Gregor Mendel, the Father of Genetics (англ.). — Houghton Mifflin, 2000. — ISBN 0-395-97765-7.. — «The article, written by an obscure Moravian monk named Gregor Mendel…».
- ↑ Watson J. D., Crick F. H. Letters to Nature: Molecular structure of Nucleic Acid // Nature, 1953.— 171.— pp. 737—738.
- ↑
… Зато читал Адама Смита
И был глубокий эконом,
То есть умел судить о том,
Как государство богатеет,
И чем живёт, и почему
Не нужно золота ему,
Когда простой продукт имеет.
А. С. Пушкин «Евгений Онегин» - ↑ Enan M. A. Ibn Khaldun: His Life and Works.— The Other Press, 2007.— pp. 104—105.— ISBN 983-9541-53-6.
- ↑ Ссписок международных научных организаций в 2019. Внутри организаций может быть своя дополнительная структура.
Алитература
- Еремеев В. Е. Введение в историю мировой науки и техники: Проспект курса лекций / В. Е. Еремеев. — М.: Восточная литература, 2012. — 304 с. — 150 экз. — ISBN 978-5-02-036510-0. (в пер.)
- Густерин П. В. Первый российский востоковед Дмитрий Кантемир / First Russian Orientalist Dmitry Kantemir. — М.: Восточная книга, 2008. — 112 с. — 1000 экз. — ISBN 978-5-7873-0436-7
- Джуа М. История химии. — М.: Мир, 1966. — 452 с.
- Бартольд В. В. Мусульманский мир // Сочинения. Т. VI. М., 1966
- Большаков О. Г. Средневековый арабский город // Очерки истории арабской культуры (V—XV вв.).— М.: Главная редакция восточной литературы издательства «Наука», 1982.
- Минеев В. В. Введение в историю и философию науки — Изд. 4-е, перераб. и доп. — М. — Берлин: Директ-Медиа, 2014. — 639 с.
- Aiton E. J. Celestial spheres and circles // History of Science. — 1981. — Vol. 19. — P. 76—114.
- Clagett M. The Science of Mechanics in the Middle Ages. — Madison: Univ. of Wisconsin Pr., 1959.
- Dales R. C. Medieval Deanimation of the Heavens // Journal of the History of Ideas. — 1980. — Vol. 41. — P. 531—550.
- Dreyer J. L. E. History of the planetary systems from Thales to Kepler. — Cambridge University Press, 1906.
- Eastwood B. S. Astronomy in Christian Latin Europe c. 500-c.1150 // Journal for the History of Astronomy. — 1997. — Vol. 28. — P. 235—258.
- Eastwood B. S. Ordering the Heavens: Roman Astronomy and Cosmology in the Carolingian Renaissance. — Leiden: Brill, 2007.
- Franklin A. Principle of inertia in the Middle Ages[анеишьа амам азхьарԥш] // Am. J. Phys.. — 1976. — Vol. 44. — P. 529—545.
- Goldstein B. The Physical Astronomy of Levi ben Gerson // Perspectives on Science. — 1997. — Vol. 5. — P. 1–30.
- Grant E. Physical Science in the Middle Ages. — New York: John Wiley and Sons, 1971.
- Grant E. Much Ado About Nothing: Theories of Space and Vacuum from the Middle Ages to the Scientific Revolution. — Cambridge University Press, 1981.
- Grant E. The Foundations of Modern Science in the Middle Ages: Their Religious, Institutional and Intellectual Contexts. — Cambridge University Press, 1996.
- Grant E. The Medieval Cosmos: Its Structure and Operation // Journal for the History of Astronomy. — 1997. — Vol. 28. — P. 147—167.
- Grant E. God and Reason in the Middle Ages. — Cambridge University Press, 2001.
- Grant E. A History of Natural Philosophy From the Ancient World to the XIX century. — New York: Cambridge University Press, 2007.
- Grant E. Planets, Stars, and Orbs: The Medieval Cosmos, 1200-1687. — Cambridge: Cambridge University Press, 2009.
- Gregory A. Eureka! The Birth of Science. — Icon Books Ltd, 2001.
- Harrison P. Voluntarism and Early Modern Science // History of Science. — 2002. — Vol. 40. — P. 63—89. Архивировано 7 хәажәкырамза 2015 года.
- Lindberg D. C. The Beginnings of Western Science: The European Scientific Tradition in Philosophical, Religious, and Institutional Context, Prehistory to A.D. 1450. — University of Chicago Press, 1992.
- Kaye S. M. Was there no evolutionary thought in the middle ages? The case of William of Ockham // British Journal for the History of Philosophy. — 2006. — Vol. 14(2). — P. 225—244.
- Kren C. Homocentric Astronomy in the Latin West. The De reprobatione ecentricorum et epiciclorum of Henry of Hesse // Isis. — 1968. — Vol. 59. — P. 269—281. — .
- Kren C. A Medieval Objection to “Ptolemy” // British Journal for the History of Science. — 1969. — Vol. 4. — P. 378—393.
- McCready M. D. Isidore, the Antipodeans, and the Shape of the Earth // Isis. — 1996. — Vol. 87. — P. 108—127. — .
- McColley G. The seventeenth-century doctrine of a plurality of worlds // Annals of Science. — 1936. — Vol. 1. — P. 385—430.
- North J. The Norton history of astronomy and cosmology. — Ne York, London: W.W. Norton & Company, 1995.
- North J. God's Clockmaker: Richard of Wallingford and the Invention of Time. — Oxbow Books, 2004. — ISBN 1-85285-451-0.
- Pedersen O. The first universities: studium generale and the origins of university education in Europe. — Cambridge University Press, 1997.
- Sarnowsky J. Concepts of Impetus and the History of Mechanics[анеишьа амам азхьарԥш] // in: Mechanics and Natural Philosophy Before the Scientific Revolution, ed. by W.R. Laird and S. Roux. — 2007. — Vol. 254. — P. 121—145.
- Stiefel T. The Heresy of Science: A Twelfth-Century Conceptual Revolution // Isis. — 1977. — Vol. 68. — P. 347—362. — .
- Sylla E. Medieval quantification of qualities: The «Merton shcool» // Archive for the Hisory of the Exact Sciencies. — 1971. — Vol. 8. — P. 9–39.
- Toulmin S., Goodfield J. The Fabric of the Heavens: The Development of Astronomy and Dynamics. — New York: Harper & brothers, 1961.
- Гаврюшин Н. К. Византийская космология в XI веке // Историко-астрономические исследования, вып. XVI. — М., 1983. — С. 325—338.
- Гайденко В. П., Смирнов Г. А. Западноевропейская наука в средние века: общие принципы и учение о движении. — М.: Наука, 1989.
- Григорьян А. Т. Механика от античности до наших дней. — М.: Наука, 1974.
- Жильсон Э. Разум и Откровение в Средние века // Богословие в культуре средневековья. — Киев: Христианское братство «Путь к истине», 1992. — С. 5—48. Архивировано из оригинала 18 ажьырныҳәамза 2026 года.
- Жильсон Э. Философия в средние века. — М.: Культурная Революция, Республика, 2010.
- Койре А. Очерки истории философской мысли. О влиянии философских концепций на развитие научных теорий. — М.: Прогресс, 1985.
- Ланской Г. Ю. Жан Буридан и Николай Орем о суточном вращении Земли // Исследования по истории физики и механики 1995—1997. — М.: Наука, 1999. — С. 87—98.
- Ле Гофф Ж. Интеллектуалы в средние века. — СПб.: Издательство С.-Петерб. университета, 2003. — 160 с. — ISBN 5-288-03334-X.
- Майоров Г. Г. Формирование средневековой философии. Латинская Патристика. — М.: Мысль, 1979.
- Матвиевская Г. П. Очерки истории тригонометрии: Древняя Греция. Средневековый Восток. Позднее Средневековье. — Изд. 2-е. — М.: Либроком, 2012. — 160 с. — (Физико-математическое наследие: математика (история математики)). — ISBN 978-5-397-02777-9.
- Рожанская М. М. Механика на средневековом Востоке. — Москва: Наука, 1976.
- Райнов Т. И. У истоков экспериментального естествознания: Пьер де Марикур и западноевропейская наука XIII-XIV вв // Вопросы истории естествознания и техники. — 1988. — № 4. — С. 105—116.
- Свасьян К. А. Становление европейской науки. — М.: Evidentis, 2002. — ISBN 5-94610-009-2.
- Соколов В. В. Средневековая философия. — М.: Высшая школа, 1979. — 448 с.
- Суворов Н. С. Средневековые университеты. — М.: Книжный дом «Либроком», 2012. — ISBN 978-5-397-02439-6.
- Шишков А. В. Средневековая интеллектуальная культура. — М.: Савин С. А., 2003.
- Гинзбург К. Тема запретного знания в XVI—XVII веках Мифы — эмблемы — приметы. Морфология и история]. — М.: Новое издательство, 2004. — С. 133—158.
- Юшкевич А. П. О проблеме математизации знания в средние века // Вопросы истории естествознания и техники. — 1990. — № 1. — С. 21—35.
Азхьарԥшқәа
- ihst.ru — Институт истории естествознания и техники имени С. И. Вавилова РАН
- Жмудь Л. Я. "Античная наука (лекторий «Открытый университет»)" (аурыс бызшәала). Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2 мшаԥымза 2015 ахь.
- ENCYCLOPEDIA OF THE HISTORY OF SCIENCE.