Перейти к содержанию

Аҭҵаарадырра

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа

Аҭҵаарадырра (протослав. * na - + * učiti - арҵара, аҵара) — иҟоу иану иазкны адыррақәа ралкаареи реихшареи иазырхоу усуроуп.

Ари аусмҩаԥгатә алнаршоит аҵабыргқәа реизгара, урҭ лассы-лассы рырҿыцра, асистема аҟаҵара, акритикатә анализ рыҭарала. Абри аҵаҵӷәала иалыршахоит адырра ҿыцқәа реихшьаалареи реимадареи, аԥсабаратәи ауаажәларратәи цәырҵрақәа ахҳәаа рызҭо, насгьы урҭ рҽыҵга-хылҿиааратә еимхәыцқәа ҳрызхьазырԥшуа, зыбзоурала иҟалаша ҳхаҿы аагаразы алшарагьы ҳамоу. Игәаҭоу аҵабыргқәа зегьы кылзыршәшәаауа, насгьы експериментла иаҿаԥҽым агипотезақәа, аԥсабара мамзаргьы аилазаара азакәанқәа ҳәа иԥхьаӡоуп (шәахә. аҭҵаарадырратә метод).[1]

Аҭҵаарадырра аҭоурыхҭҵааҩ И. Н. Веселовски игәаанагарала, «ҳаамҭазтәи аҭҵаарадырра гәыцәс иамоуп анаҩстәи х-шьаҭак: 1) аԥсабара аҭҵаараҿы аексперименти, азкылԥшреи аԥышәеи рхархәара; 2) ихадоу аԥхьазхьарԥшқәа рҟынтәи иаауа алкаақәа рлогикатә шьақәырӷәӷәара; 3) аԥсабаратә процессқәа математикала раарԥшра алшара».[2]

Аҵарадырра инарҭбааны иуҳәозар, иаҵанакуа аусура аҭагылазаашьақәеи ахәҭақәеи зегьы агәыланахалоит:

Аҭҵаарадырратә ҭҵаарадырраҭҵаарадырратә ҟәшоуп, аҭҵаарадырра аҭҵаара иазку.

Адунеи аҿы иҟоу аобъектқәа рмасштаб, аҭҵаарадырра аҟәшақәа ирҿырԥшны; аформалтә ҭҵаарадыррақәа аҭҵаарадырратә дырра ашьаҭа ҳәа иалкаауп

Аҭҵаарадырра ихадоу аҷыдарақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

[3][4]

  • Аҵарадырра – ишьақәырӷәӷәоу аԥҟарақәа рыла ишьақәгылоу, адыргақәа рсистемаҿы иарбоу адырра ауп.
  • Аҭҵаарадырра еснагь иахьынӡауала иалкаау (ҭоурыхтә ҩаӡарацыԥхьаӡа) абызшәала иҭаҩуп.
  • Аҭҵаарадырра – аобиектқәа русуреи рыҿиареи рзакәанқәа ирызку адыррақәа рсистема ауп.
  • Аҭҵаарадырра ҳәа ԥышәарала иузгәаҭо иагьыузышьақәырӷәӷәо адырра ауп изахьӡу.
  • Аҭҵаарадырра еиԥҟьарада еизҳауа, иагьхаҭәаауа адыррақәа ирсистемоуп. Уи ахаҭәаара мҩаԥысуеит еиҳарак иҿыцу аметодқәа рыцхыраарала.
  • Аҭҵаарадырра иамоу аилазаара шьақәгылоуп: амаҭәари, атеориеи агипотезеи, аметоди аҵабырги, аԥышәатә материал ахҳәааи рыла.

Аҭҵаарадырратә ҳәаа (англ. science field) — аҭагылазаашьақәа 12 алзыршо ҭҵааратә ҳәаауп : 1) аҭҵаарадырратә ҳәаа ахәҭақәа зегьы аамҭа цацыԥхьаӡа рҽырыԥсахуеит уи аусхкы аҿы имҩаԥысуа аҭҵаарақәа ирылҵшәаны, еиҳаракгьы алогикатә/математикатә мыругақәеи егьырҭ аҳәаақәа рҟынтәи хазы игоу ашьҭа/ԥхьахьарԥшрақәеи; 2) аҵарадырратә еилазаара иҷыдоу азыҟаҵара амоуп, «иӷәӷәоу ажәабжьтә еимадарақәа еиқәнархоит», «аҵарадырратә ҵас» еиҿнакаауеит ма иацнаҵоит; 3) аҵарауаа рхы иақәиҭны аус руртә аалшара рымоуп аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы, насгьы урҭ здызкыло ауаажәларра аҟынтәигьы адгылара роууеит; 4) аҵарауаа рдунеихәаԥшышьа иаҵанакуеит «закәанеизшәарала зҽызыԥсахуа иалкаау» обиектқәа, аҭҵаарадырратә метод иахәҭоу аилкаара, еиҿкаау аҭҵаарадырра ахәаԥшышьа, ииашоу ахҳәаақәеи аилыркаарақәеи рҟынӡа инаӡо, аҵарадырратә етикатә принципқәа, иара убас аҵабырг хақәиҭла аԥшаара; 5) ҳаамҭазтәи алогикатә/математикатә мыругақәа ажәабжь икылкааны ишьақәдыргылоит, аусгьы адырулоит; 6) аҭҵаарақәа рҳәаа — иҟаҵәҟьоу аобектқәа/ахаҭарақәа; 7) аҵарауаҩ егьырҭ идыррақәа — ҳаамҭазтәи, ишьақәырӷәӷәоу адыррақәа, агипотезақәеи атеориақәеи, ирышьашәалоу егьырҭ ахырхарҭақәа рҟынтәи иаагоу; 8) зыҭҵаара мҩаԥысуа апроблемақәа реизга иҭырҵаауа ахаҭа аҳәаақәа рыҩнуҵҟа иҟоуп; 9) еизгаз адыррақәа ирыгәҭыларкуеит адунеихәаԥшышьа иашьашәало, азҿлымҳара змоу, згәаҭара ауа атеориақәа, агипотезақәеи адыррақәеи, иара убас уаанӡа аҭҵааратә ҳәаақәа рыҩнуҵҟа еизгаз иҷыдоу адыррақәа; 10) хықәкқәас иҟоуп аҵарадырратә закәанқәеи атеориақәеи аҭҵаара ахьымҩаԥысуа аҭыԥҭаӡараҿы рыԥшаара, рхархәара, еизгаз адыррақәа рсистематәра, теориала адыррақәа реизакра, аҭҵаара азнеишьақәа реиӷьтәра; 11) ҭҵаарадырратә методқәа «ргәаҭара, рыриашара, рырҵабыргра аҭахуп»; 12) аҭҵааратә ҭыԥҭаӡара еиҳа инарҭбаау аҭҵааратә еизшәарақәа ирыдҳәалоуп, уаҟа иара убасҵәҟьа иҟоуп аҭҵааҩцәа, «аҭҵааратә лкаақәеи, аусқәеи алацәажәареи» зылшо, издызкыло аилазаара ирышьашәало, еиҳа иҭшәоу аҭҵаара аҳәаақәа аманы.[5]

Ихадароу астатиа: Аҭҵаарадырра аҭоурых

Шәахә. убасгьы Апротоҭҵаарадырра. Ажәытәӡатәи ацивилизациақәа ртәылақәа рҿы аҩыра аҿиара абзоурала, аԥсабареи, ауаҩи ауаажәларреи ирызку аԥышәатә дыррақәа еизон, иара убас аматематика, алогика, агеометриа, астрономиа, амедицина рхыҵхырҭақәа цәырҵуа иалагон. Ззын аҵабырг азхәыцреи уи аԥшаареи ус хаданы иҟалаз Ажәытә Бырзентәылатәии Римтәии афилософцәа ҳаамҭазтәи аҵарауаа ираԥхьанеиуаз ракәын. Ажәытә Бырзентәыла ицәырҵуеит адыррақәа аклассификациа рзуразы азнеишьақәа.

Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзтәи аҭҵаарадырра ажәытә бырзентә текстқәа араб бызшәахьы реиҭагарала ижәытәӡатәу адыррақәа аԥсылмантә дунеи аҿы рыдкылара аҳасабала иалагеит. Насшәа, уажәшьҭа 12-тәи ашәышықәсазы, араб бызшәала иҟаз аусумҭақәа алаҭын бызшәахь реиҭагақәа Европа аҭҵаарадырра Аиҭаира кырӡа анырра анаҭеит.

Иахьа ишеилаҳкаауа еиԥш аҭҵаарадырра ашьақәгылара иалагеит 1617-тәи ашәышықәсақәа инадыркны. Аҭоурыхтә ҿиарамҩаҿы уи анырра атехникеи атехнологиеи рыҿиара аҳәаа анҭыҵгьы иҭыҵит. Аҭҵаарадырра ихадаӡоу социалтә-гуманитартә институтны иҟалеит, ауаажәларреи акультуреи рхырхарҭақәа зегьы анырра ду рызҭоз. 17-тәи ашәышықәса инаркны аҭҵаарадырратә усура амҽхакқәа ес-10-15-шықәса ҩынтәны ирызҳауеит (аартра ҿыцқәа, аҭҵааратә дыррақәа, атҵааратә усзуҩцәа рхыԥхьаӡарақәа ирызҳауеит).[6]

Ажәа «аҵарауаҩ» иахьатәи аҵакы ала (scientist), афраза «аԥсабара зҭызҵаауа афилософ» (natural philosopher) аҭыԥан иҟалаз, 19-тәи ашәышықәса азбжазы ицәырҵит.[7]

Аҭҵаарадырра аҿиарамҩаҿы аекстенсивтә аамҭақәеи ареволиуциатә аамҭақәеи рҽеиҭнырыԥсахлоит — аҭҵаарадырратә револиуциақәа, уи аилазаашьа, адырратә принципқәа, акатегориақәеи аметодқәеи, иара убас уи аиҿкаара аформақәеи рҿы аԥсахрақәа ҟазҵо. Аҭҵаарадырра ҷыдарас иамоуп уи адифференциациеи аинтеграциеи рыпроцессқәа диалектла реинраалара, шьаҭанкылатәи ахархәаратәи аҭҵаарақәа рырҿиарала.

Ихадароу астатиа: Аҭҵаарадырратә еилазаара

Аҵарадырра знапы алаку ауаа зегьы аҭҵаарадырратә еилазаара шьақәдыргылоит. Аҵарауаҩцәа реилазаара — аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, ауаажәларратә еиҿкаарақәеи, иформалтәым агәыԥқәеи злахәу иуадаҩу хеиҿкааратә системоуп. Ари аилазаара алызкаауа ҟазшьа ҷыдоуп аҭҵаарадырратә еихьӡарақәа ирыбзоураны амчра азхаҵара аҩаӡара ҳаракы, насгьы амчра знапаҿы иҟоу рнапхгара азхаҵара аҩаӡара алаҟәра, зны-зынла аҳәынҭқарреи аҭҵаарадырратә еилазаареи рыбжьара аимак-аиҿакгьы цәырызго. Иара убасгьы иазгәаҭатәуп, иформалтәым агәыԥқәа, еиҳаракгьы хазы игоу ахаҭарақәа, егьырҭ асоциалтә хырхарҭақәа рҟны аасҭа еиҳа ибзиоу алҵшәа шрымоу. Аҭҵаарадырратә еилазаара зегь реиҳа ихадоу дҵақәаны иамоуп аҭҵаарадырра аҿиара алзыршо аидеиа ҿыцқәеи атеориа ҿыцқәеи разхаҵара мамзаргьы мап рыцәкра, иара убас аҵарааӡаратә система аҵгәареи аҵарауаа ҿыцқәа разыҟаҵареи.

Аҭҵаарадырратә еилазаара алахәылацәа рыԥсҭазаашьеи рдунеихәаԥшышьеи ауаажәларраҿы еицырдыруа агәаанагаарақәа акырӡа иреиԥшымзар ауеит. Иҟоуп агәаанагара, уажәы аҵарауаа рыбжьара атеисттәи аскептикатәи адунеихәаԥшышьақәа аҳра руеит ҳәа. 1990-тәи ашықәсқәа рзы имҩаԥгаз аҭҵаарақәа иаадырԥшит ала Америка Аҭҵаарадыррақәа Рмилаҭтә Академиа алахәылацәа рҟынтә 7% мацареи, Еиду Британиа аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәылацәа рҟынтә 3.3% мацареи шракәу анцәадхазҵо. Убри аан, амилаҭтә ҭҵаара инақәыршәаны, Британиа ауааԥсыра рҟынтә 68,5% анцәадхазҵо ҳәа рхы рыԥхьаӡоит. В. Л. Гинзбург Атеизм.ру аҟны иҟаиҵаз астатиаҿы иазгәеиҭеит “Изинг истатиаҿы (“Аԥшаара” No 25, 1998) уаанӡа Nature (386-тәи атом, 435 ад, 1997) аҟны икьыԥхьыз аиҵаҩра шаагоу, уи иаанарԥшуеит америкатәи аҵарауаа рыбжьара 1916 шықәсазы 42% анцәадхазҵоз шыҟаз, 1996 шықәсазы — 39%, ус анакәха урҭ рхыԥхьаӡара алаҟәра уамак ирацәам, ари уамашәа иубаратәы иҟоуп, 80 шықәса ирылагӡаны аҵарадырра иҟанаҵаз аиааира дуқәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар», ҳәа азгәаҭоуп, уи зыхҟьар ауаз «акоммунистцәа ратеизм ақәҿиара» аҭак азыҟаҵара ауп. Асоциолог Елаин Говард Екланд Еизгоу Америкатәи Аштатқкәа иреиӷьӡоу ауниверситетқәа рҿы аус зуа 1646 арҵаҩцәа рыбжьара аҭҵаара мҩаԥылгеит, анцәахаҵареи адоуҳатә усқәеи ирызку азҵаарақәа 36 рҭак ҟарҵарц рыдылҵеит, уи аан лара иалылкааит иԥсабаратәу аҭҵаарадыррақәа (абиологиа, афизика, ахимиа) рахь иаҵанакуа аҵарауаа рыбжьара 38% атеистцәа шракәу, зегь реиҳа анцәадхазымҵо - 41% - абиологцәа ракәхеит, асоциологцәа рыбжьара - 31%, зегь раасҭа имаҷу арбагақәа аполитологцәа рыбжьара ишьақәыргылахеит — 27%. 2005 шықәсазы Чикаготәи Ауниверситет аҭҵааҩцәа иркьыԥхьыз арбагақәа рыла, Америкатәи аҳақьымцәа рҟынтә 76% анцәадхазҵо ракәны рхы рыԥхьаӡоит, 59% аԥсра ашьҭахьтәи аԥсҭазаара шыҟоу агәраганы иҟоуп. Аҭҵаарадырра аҭоурых шаҳаҭра азнауеит аҭҵаарадырраҿы амчра змоу ахәыцрақәеи адоктринақәеи реиҭныԥсахлара, иара убасгьы урҭ изҵанакуа аҳәынҭқарра ма аҭоурыхтә аамҭа аполитикатә ҭагылазаашьа ишахьыԥшу.[8][9][10][10]

Ихадароу астатиа: Аҵарауаҩ

Шәахә. убасгьы: Аҭҵаарадырратә приоритет. Аҵарауаҩ – адунеи аҭҵаарадырратә сахьа ашьақәыргыларазы хәыцрала аусқәа назыгӡо, зыҭҵаарадырратә усурақәеи здыррақәеи еиуеиԥшым аформақәа рыла аҭҵаарадырратә еилазаара аҟынтәи азхаҵара аиуз аҭҵаарадырра ахаҭарнак иоуп. Аквалификаци азхаҵара ихадоу формалтә ҷыдараны иҟоуп зыхьӡ бзиоу аҭҵаарадырратә кьыԥхь аҟны аҵарадырратә материалқәа ранҵара, насгьы зыхьӡ бзиоу аҭҵаарадырратә конференциақәа рҿы аусумҭақәа рцәыргара. Урыстәылазегьтәии адунеизегьтәии аҭҵаарадырратә конференциақәа рҿы адокладҟаҵара аҭҵаарадырратә ҭыжьымҭа иаҟароуп, аха аҭҵаарадырратә ҩаӡара иашьҭоу рзы ԥкрақәак ыҟоуп. Урыстәыла, Иреиҳаӡоу аттестациатә комиссиа ала иазхаҵоу аҭыжьымҭақәа рсиа аҳасабала, агәрагара змоу аҭҵаарадырратә ҭыжьымҭақәа егьырҭ аҭыжьымҭақәа рҟынтәи ралкаара аҽазышәарақәа ыҟоуп. Аха зыгәрагоу аҭыжьымҭақәеи аконференциақәеи рыбжьарагьы иҟам раԥхьатәи аҭыԥ аанызкыларц зыхәҭо еилыкка иаазырԥшыша асистема. Ишаԥу еиԥш, жәларбжьаратәи аҭыжьымҭақәеи аконференциақәеи зегь реиҳа аԥыжәара рымоуп, жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы азхаҵара акапан еиҳа еиҳауп, атәыла аҩнуҵҟатәи аҩаӡара аасҭа. Аҵарауаҩ ихьӡи иазхаҵареи аҩаӡара ишиашоу иадҳәалоуп азанааҭдырҩ ҟазацәа реилазаара маҷ аҟны иара дахьынӡардыруа. Иҟоуп егьырҭ аҵарауаа русумҭақәа рҟны аҵарауаҩ иусумҭақәа рахь азхьарԥшқәа рхыԥхьаӡара шьаҭас иҟаҵаны ареитингқәа рышьақәыргылара аҽазышәарақәа. Иаҳҳәап, еиуеиԥшым адырратә хырхарҭақәа рҿы аус зуа апрофессорцәа рыбжьара, аҵарадырратә хырхарҭаҿы иреиӷьу адырҩы ҳәа дыԥхьаӡоуп ҷыдала уи ахырхарҭаҿы иҟоу аусумҭақәа раԥҵаҩы. Аха ҩыџьа авторцәа (еиԥшу академиатә хьӡы змоу) еиԥшу аҭҵаарадырратә хырхарҭаҿы аус руазар, усҟан иреиӷьу аексперт ҳәа далкаахоит зусумҭа аҟынтәи еиҳа ирацәаҩны азхьарԥшқәо ргаз, ус анакәха, егьырҭ авторцәагьы ззанааҭдырра азхарҵаз автор. Абас ауп аҭҵаарадырратә еилазаараҿы аспециалист иаҳаҭыр шышьақәгыло.[11]

Аҵарауаа рыбжьара, темак аҭҵаара иазку иарбанзаалак аусумҭа анҵәамҭа иашьашәало ​​амонографиа аҭыжьрала ихыркәшахоит, уи аҭҵаара аметодика атәы инарҭбааны иаҳәоит, иаагоу аусумҭа алҵшәақәа аанарԥшуеит, иара убасгьы урҭ ирыхцәажәоит.

Аҭҵаарадырратә еилазаараҿы арҵаҩратә усура ахә ҳаракны иршьоит. Ҳаҭыр зқәу аҵараиурҭаҿы алекциақәа рыԥхьара азин аҵарауаҩ иҩаӡареи идырреи разхаҵара иарбагоуп. Аҭҵаарадырратә школ аԥҵара, даҽакала иуҳәозар, арҵаҩы ихшыҩзцарақәа алазырҵәо аҵарауаа ԥыҭҩык разыҟаҵарагьы ахә ҳаракны иршьоит.

Азанааҭтә ҭҵаарадырра дахьынӡаҵанакуа, насгьы аҵарауаҩ иҟазара аҩаӡара ахьынӡаҳараку шьақәдыргылоит аҭыԥантәии амилаҭтәии аквалификациатә ӡбарҭақәа (адиссертациа ахьчаратә хеилак, аттестациатә комиссиа, Иреиҳау аттестациатә комиссиа). СССР-и Урыстәылеи рҿы аҵарауаҩ идыррақәа шәҟәыбӷьыцла ишьақәдырӷәӷәоит ҭҵаарадырратә ҩаӡаралеи (акандидат ма аҭҵаарадыррақәа рдоктор) ҭҵаарадырратә хьӡылеи (адоцент, мамзаргьы апрофессор). Адипломқәеи ахьыӡқәеи рыҭара Иреиҳау Атестациатә Комиссиа ахылаԥшра азнауеит. Аҭҵаарадырратә ҩаӡарақәа ранаршьоит аҭҵаарадыррақәа рхырхарҭақәа рыла, иаҳҳәап, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, уҳәа убас иҵегьы – иахьатәи аамҭазы Иреиҳау аттестациатә комиссиа абас еиԥш иҟоу ахырхарҭақәа 22 азхаҵаны иамоуп. Аҭҵаарадырратә ҩаӡара аиуразы, иҷыдоу ахеилак аҿы адиссертациа аҩреи ахьчареи хымԥадатәуп; аҭҵаарадырратә еихьӡара дуқәа рзы адиссертациа имҩаԥгаз аусуразы адоклад ала иԥсахзар ауеит. Аха уи аҩыза аформа лассы-лассы иуԥылом, Агенералтә конструкторцәа рзы мацара хархәара аҭазар ауеит. Аусумҭа қәҿиарала ахьчаразы аҭҵаарадырратә усумҭа алҵшәақәа ркьыԥхьреи апробациеи хымԥадатәуп. Апробациа ҳәа изышьҭоу еиҳарак аконференциақәа рҿы имҩаԥысуа ақшгыларақәа роуп, избанзар уи аформа абзоурала алшара ҟалоит алҵшәақәа рылацәажәаразы, насгьы, уи инақәыршәаны, аҵарауаа ақәшаҳаҭымзар, иаарту акритика аиуразгьы имыругоуп. Аҭҵаарадырратә хьӡы аиуразы (адоцент ма апрофессор), аҭҵаарадырратә ҩаӡара адагьы, апедагогикатә усурагьы амҩаԥгара хымԥадатәуп, ҷыдала, аҵара-методикатә ҭыжьымҭақәа ыҟазар ауп. Иҟоуп иара убасгьы еиҵоу аквалификациақәа рызхаҵара аформалтә ԥҟарақәагьы, иаҳҳәап, ауниверситет аушьҭымҭацәа рҵарадырратә усура ахылаԥшразы азин акандидат иҟынтәи адоктор иахь аиасраҿы ихымԥадатәу шьаҿоуп.

Иреиҳау аҩаӡара – Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәхара ауп. Урыстәыла, уаанӡа СССР аҟнеиԥш, алахәхара ҩ-ҩаӡарак амоуп: актәи – Академиа алахәыла-корреспондент, иреиҳау – академик. Академиақәа зхы еиҿызкаауа аҭҵаарадырратә еилазаарақәа роуп, урҭ реизарақәа рҿы академикцәеи алахәылацәа-акорреспонденцәеи алырхуеит. Акандидатцәа ықәдыргылоит иреиҳау аҵараиурҭақәа ма аҭҵаарадырратә институт. Уи аангьы, алхрақәа еснагь еиуеиԥшым аальтернативақәа рыла имҩаԥысуан. Иахьазы Урыстәыла, Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа анахысгьы (еилкаарақәак еилыкка иҟамҵакәа), иҟоуп ахырхарҭатә Академиақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы, иаҳҳәап, Амедицинатә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиа, аҭоурых ду амоуп, егьырҭ цәырҵижьҭеи уамак аамҭа ҵуам. Урҭ реиҿкаашьа Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аиҿкаашьа иеиԥшуп, аха статусла, еилкаау усуп, еиҳа еиҵоуп.

Аҭҵаарадырратә еилазаараҿы хыԥхьаӡара рацәала аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа ыҟоуп. Хатәгәаԥхаралатәи аҭҵаарадырратә еилазаарақәа аҭҵаарадырра аҿиараҿы алахәратә роль нарыгӡоит, урҭ дҵа хаданы ирымоуп аконференциақәа раан, насгьы аилазаара иҭнажьуа апериодикатә ҭыжьымҭақәа рыла аҭҵаарадырратә жәабжь аимдара. Аҭҵааратә еилазаарақәа рылалара хатәгәаԥхаралатәуп, лассы-лассы ихәыда-ԥсадоуп, насгьы аԥаратә лагалақәа аҭаххаргьы ҟалоит. Аҳәынҭқарра арҭ аиҿкаарақәа еиуеиԥшым ацхыраара рыҭара алшоит, аилазаара акәзар амчра иҟанаҵо иақәшаҳаҭхар ауеит. Зны-зынла хатәгәаԥхаралатәи аилазаарақәа русура еиҳа инарҭбаау азҵаарақәагьы амҽханакуеит, иаҳҳәап, астандартизациа. Зегь реиҳа акапани аларҵәареи змоу аилазаарақәа иреиуоуп IEEE. Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә еидгылақәа гәыԥла рылалара еиԥш, хазҷыдала рылалара ҟалоит. Европатәи тәылақәак рҟны аҭҵаарадыррақәа рмилаҭтә академиақәа ҭоурыхла амилаҭтә ҭҵаарадырратә еилазаарақәа ирылиааит. Иаҳҳәап, Британиа Ду аҟны Академиа аҭыԥ ааннакылоит Аҳратә Ҭҵаарадырратә Еилазаара.

Раԥхьатәи аҭҵааратә еилазаарақәа Италиа ицәырҵит 1560-тәи ашықәсқәа рзы — урҭ рахь иаҵанакуан Неаполь иҟаз “Аԥсабара амаӡақәа ракадемиа” (Academia secretorum naturae) (1560), Рим иҟоу “Академиа деи Линчеи” (Accademia dei Lincei – еиҭаганы иуҳәозар, “абнацгәабла зхоу ракадемиа”, зыбла ҵарӡоу ҳәа аанарго), Флоренциа иҟоу «Аԥышәатә дыррақәа ракадемиа» («Аԥышәақәа ракадемиа», 1657). Италиатәи арҭ академиақәа зегьы, ҳаҭыр зқәу алахәыла Галилео Галилеи напхгара зиҭоз акыр зҵазкуа ахәыцҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи ргәыԥ алархәны, лассы-ласстәи аиԥыларақәа, ахшыҩзцарақәа реимдара, аекспериментқәа рымҩаԥгара рыла афизика аганахьала аҵарадыррақәа рыларҵәареи рырҭбаареи хықәкыс иҟаҵаны иаԥҵан. Ҳәарада, урҭ иааизакны Европатәи аҭҵаарадырра аҿиараҿы анырра ду ҟарҵеит.

Аҭҵаарадырреи атехникеи ирццакны рырҿиара аҭахра иахҟьаны, аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра арҿиара аус еиҳа хшыҩзышьҭрала аҽагәыланахалар акәхеит. Убри аҟнытә, атәылақәа ԥыҭк рҟны, иаҳҳәап, Урыстәыла, Академиа хыхьынтәи иааз адҵала иаԥҵан. Аха, Аҭҵаарадыррақәа ракадемиақәа реиҳарак аҳәынҭқарра аҟынтәи рхьыԥшымра шьақәзырӷәӷәо адемократиатә ԥҟарақәа рыдыркылеит.

Аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа:

  • UNESCO (адунеи аҿы аҵарауааи егьырҭ аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәеи рыбжьара аусеицура иацхраауа адунеизегьтәи аиҿкаара).
  • IUPAC (ахимиа ахырхарҭала ԥхьацара алзыршо жәларбжьаратәи аиҿкаара).
  • Жәларбжьаратәи Астрономтә Еидгыла (астрономтә цәеижьқәеи урҭ рыхәҭақәеи официалла ахьӡқәа рыҭара еиԥш иҟоу аусеицуреи астандартизациеи зҭаху астрономтә зҵаарақәа рҿы иреиҳау адунеизегьтәи амчра аҳасабала иазхаҵоуп).

Жәларбжьаратәи аинститутқәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҭҵаарадырратә усбарҭақәа — академиақәеи аҭҵааратә институтқәеи — жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы аусеицура рыбжьоуп. Ауаҩы игеном аилкаара, мамзаргьы Жәларбжьаратәи акосмостә станциа реиԥш иҟоу ҳаамҭазтәи амҽхак ду змоу аҭҵаарадырратә проектқәа ралыршаразы аԥаратә харџь дуӡӡақәеи аҭҵаарадырратәи ааглыхратәи еилазаарақәа рымҩақәҵареи аҭахуп. Еиҳараӡак ари аус жәларбжьаратәи аилазаараҿы алыршара еиҳа алҵшәа ацуп.

Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә институтқәа:

  • CERN— иҳараку амчхарақәа рфизикеи имариаӡоу ахәҭаҷқәа рфизикеи рзы адунеи аҿы иреиҳау лабораториоуп;
  • ОИЯИ  — СССР-и Урыстәылеи рҿы иаартыз атрансурантә хәҭаҷқәа зегьы ОИЯИ аҟны ишьҭибархын, егьырҭ атәылақәа рҿы иаартыз трансурантә хәҭаҷқәа рсинтезқәа реиҳаракгьы уи ала еиҭаҟаҵан.

Амедалқәеи аԥхьахәқәеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҵарауаа аҭҵаарадырратә еихьӡарақәа рзы иранашьахоит аҭҵаарадырратә премиақәеи амедалқәеи.

Ихадароу астатиа: Аҭҵаарадырратә лаф

Аҭҵаарадырратә лаф – аҭҵаарадырратә теориақәеи аҭҵаарадырратә усурақәеи рҟны иаабац еиԥшым, мамзаргьы апарадокстә ганқәа рыла ишьаҭарку азанааҭтә лаф иахкуп. Лассы-лассы аҭҵаарадырратә хырхарҭаҿы иахәҭоу адыррақәа змам ауаа аҭҵаарадырратә лаф ишахәҭоу еиԥш ирзыдкылом, уи ахә ашьарагьы рылшом.

Аҭҵаарадырратә лаф ҳәагьы ахыуҳәар ҟалоит еицырдыруа аҵарауааи аҵарадырра аганқәаки рхыччара (иаҳҳәап, Шнобель ипремиа Нобель ипремиа иапародиоуп).

Аҭҵаарадырратә лаф аизгаразы аҽазышәарақәак еилкаарыла ауаа ирыдыркылаӡом. Иаҳҳәап, аизга «Афизикцәа алаф рҳәоит» аиқәыршәаҩцәеи егьырҭ аҵарауааи ҭелла реицәажәараан аиқәыршәаҩцәа ирацәажәоз ус рарҳәеит: «ҳусзуҩцәа акыр зҵазкуа аусқәа рнапы рылакуп, алафҳәаразы аамҭа рымам».[12]

Аҭҵаарадырратә метод

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Аҭҵаарадырратә метод

Адунеи обиективла ахәаԥшра аҭҵаарадырра егьырҭ адырратә хкқәа ирылнакаауеит, иаҳҳәап, есыҽнытәи, аҟазаратә, адинхаҵаратә, амифологиатә, аезотерикатә, афилософиатә реиԥш иҟоу. Иаҳҳәап, аҟазараҿы аҵабырг аарԥшра ҟалоит асубективи аобъективи реицҵарала, аҵабырг алыршара еиҳарак емоциалатәи ахәшьара ма аҭакҟаҵара анацу. Аҭҵаарадырратә метод ақәныҟәара аҭҵаарадырратә хәыцшьа шьақәнаргылоит.

Иахьатәи аҭҵаарадырратә метод аилазаашьа, даҽакала иуҳәозар, адырра ҿыцқәа рыргылара аметод, иаҵанакуеит:

  • Аҵабыргқәа алаԥш рхыгареи ашәареи-азареи, бла иабо зегьы рхыԥхьаӡаратә ма рхаҭашьатә хҳәаа. Арҭ реиԥш иҟоу ахҳәаақәа рҿы хымԥада еиуеиԥшым абстракциақәа рхы иадырхәоит.
  • Аблабара алҵшәақәа ранализ — урҭ рсистематизациа, акыр зҵазкуеи ихадами ҳәа аихшара.
  • Агипотезақәеи атеориақәеи рзеиԥштәреи (асинтез) рышьақәыргылареи.
  • Аԥхьагәаҭара: иҟаҵоу агипотеза ма ирыдыркыло атеориа аҟынтәи алҵшәақәа рышьақәыргылара, адедукциа, аиндукциа, ма даҽа логикалатәи аметодқәа рыцхыраарала.
  • Иаԥхьагәаҭоу алҵшәақәа ргәаҭара аексперимент ахархәарала (Карл Поппер итерминологиа — акритикатә експеримент ала).

Аетапқәа зегьы рҿы, иарбан ҩаӡаразаалак аҿы иҟоу адыррақәеи алҵшәақәеи рахь акритикатә знеишьа хыԥашьа змам аҵак ду амоуп. Зегьы рышьақәырӷәӷәара, зыгәра угартә иҟоу адыррақәа рыла рышьаҭаркра, атеориатә лкаақәа аексперименттә лҵшәақәа рыла рыраргамара аҭахра аҭҵаарадырра егьырҭ адыррақәа рҟынтәи иалнакаауеит, изеиԥшразаалак догмак еснагь шьаҭас измоу адинхаҵарагьы уахь иналаҵаны.

Аамҭа цацыԥхьаӡа аҭҵаарадырреи аҭҵаарадырратә методи — аҭҵаарадырратә методологиеи ирызку агәаанагарақәа рҽырыԥсахит.

Аҭҵаарақәа рхырхарҭақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҵарадырратә ҭҵаарақәа рҿы х-хырхарҭак алкаазар ауеит:[13]

  • Ишьаҭарку аҭҵаарадыррақәа — ари шьаҭанкылатәи адырра ҿыцқәа раиуразы, иара убасгьы зылҵшәақәа мҽхакы ҭбаала зегьынџьара рхархәара аанамго, иҭҵаахо ацәырҵрақәа рцәаҩақәа реилкааразы иҵаулоу ганрацәалатәи аҭҵаара ауп. Афундаментализм аилкаара (латин бызшәала fundare - “ашьаҭаркра”) абарҭ аҭҵаарадыррақәа аԥсабара шьаҭанкылатәи азакәанқәа рыҭҵаара ишазырхоу аныԥшуеит.
  • Ахархәаратә ҭҵаарадыррақәа ҳәа изышьҭоу шьаҭанкылатәи аҭҵаарадыррақәа реихьӡарақәа апрактикатә проблемақәа рыӡбаразы ахархәара рызҭоу ҭҵаарақәоуп. Аҭҵаарақәа ирылҵшәахоит атехнологиа ҿыцқәа раԥҵареи урҭ анаҩс реиӷьтәреи.
  • «Аҭҵаарадырратәи аԥышәа-конструктортәи аиқәыршәақәа — араҟа аҭҵаарадырреи ааглыхреи еиԥылоит, убас ала ари апроект аҭҵаарадырратә знеишьа анагӡара еиԥш, атехникатәи анџьныртәи азнеишьақәагьы алыршаны. Зны-зынла иҟало алҵшәақәа аҭҵаарадырра-техникатә револиуциа аҟынӡа ицәырҵыргьы рылшоит.

Аҵарауаа жәпаҩык аҭҵаарадырратә експериментқәа рхатә ԥышәала имҩаԥыргахьеит.

  • Амикроорганизм Helicobacter pylori аԥшааҩцәа руаӡәк – апрофессор Барри Маршалли хатәгәаԥхарала иалахәыз гәыԥҩыки қәҿиарала ироуз аҽырчмазара аԥышәа, ахроникатә чымазара агастрит аетиологиаҿы ихадоу аҭыԥқәа руак аанызкыло факторк шыҟоу азы зыгәрагоу даҽа ҭҵаарадырра шьақәырӷәӷәаракны иҟалеит. 2005 шықәсазы Барри Маршалли уи ицхырааҩ Робин Уоррени иҟарҵаз аартразы Нобель ипремиа ранаршьеит.

Аҭҵаарадырра афилософиа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Аҭҵаарадырра афилософиа

Аҭҵаарадырра афилософиа – аҭҵаарадырра арҿиареи аилкааратә усуреи еиуеиԥшым рмодельқәа ҳадызгало ,хыԥхьаӡара рацәала зеиԥшыҟам концепциақәа рыла иаарԥшу афилософиа аҟәша ауп. Уи зызку аҭҵаарадырра инанагӡо ауси аҵак дуи ралкаара ауп, иара убас аҭҵаарадырра аҟазшьақәа, егьырҭ аилкааратә усхкқәа рыламырҩашьаразы.

Аҭҵаарадырра афилософиа аҭоурыхтә социокультуратә дырра аҳаракыра амоуп, уи аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рыҭҵаара иазырхоума, мамзаргьы асоциал-гуманитартә ҭҵаарадыррақәа ирызкума ҳәа еилых ҟамҵакәа. Аҭҵаарадырра афилософ дазҿлымҳауп анаукатә ԥшаара, «аартратә алгоритм», аҭҵаарадырратә жәабжьқәа рыҿиашьа, аҭҵааратә усура аметодқәеи апринципқәеи. (Аҭҵаарадырра афилософиа, аҭҵаарадыррақәа хдырралла рыҿиара иазҿлымҳазаргьы, уеизгьы урҭ хдыррала рыҿиара алыршара иазкӡам, хырхарҭарацәалатәи аметанаука уи алыршара ишазку еиԥш.)

Аҭҵаарадырра ахықәкы хада аҵабырг аԥшаара акәзар, аҭҵаарадырра афилософиа ауаатәыҩса ихдырра ихы иахьаирхәо зегь реиҳа ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп, уи аҩнуҵҟа азҵаара “ишԥаҳалшо аҵабырг азнеира?” алацәажәара мҩаԥысуеит.

Шәахә. убасгьы: Аҳәаақәа рыбжьаҵара апроблема. Аҭҵаарадырра зегь шамчу агәрагареи, насгьы аҭҵаарадырратә дыррақәа реизгара апроцесс еиԥмырҟьаӡакәа иахьымҩаԥысуазы идырым ишдырым аамҭала мацара ишаанхо агәрагареи, еснагь зыҽзырҿыцуа аҭҵаарадырратә еилазаара феидала аусуразы ҵыхәаԥҵәара змам ҭагылазаашьоуп. Убри аамҭазы, ари азакәан аҵаратә метод аҳәаақәа ирҭагӡаны експериментла хырбгалашьа шамам еиԥш, шьақәырӷәӷәашьагьы амам, убри аҟнытә, Поппер икритериа инақәыршәаны, иҭҵаарадырратәны иԥхьаӡаӡам.[14]

Аха иҟоуп алшара, аҭҵаарадырра иҟаҵәҟьоу ишыҟаҵәҟьоу аилкааразы амчра ахьамоу аҟәшеи, иҟаҵәҟьоу иазку адыррақәа ҭҵаарадырратә методла зыҭҵаара амуа аҟәшеи реихшаразы. Ари аҟәша аԥсабара иаиууа азҵаарақәа еиҟәызшо аҳәааҿы иҟоуп, урҭ еихшоуп ԥышәала иҵабыргу аҭак аиуразы алшара узҭои, ус еиԥш ала зхы узырбо , аха уи аиԥш алшара змами рыла.[15]

Зыӡбахә наҩхьо аҭәымра иазку Гиодель итеорема инақәыршәаны, иарбанзаалак аформалтә система аҳәаақәа ирҭагӡаны, аԥсабаратә хыԥхьаӡарақәа рарифметикагьы назлоу, ари асистема еишьашәалазар, уи аишьашәалара шьақәырӷәӷәазарц залшом.

Убас Лобачевски, 1829 шықәсазы, иусумҭа «Агеометриа ахыҵхырҭақәа рзы» аҿы, аҭыԥҭаӡара евклидым агеометриа евклиду еиԥш аиҿагыларақәа рҟынтәи ахы иақәиҭны ихаҿы иааигеит.Таким образом, он показал, что пространство, может быть описано двумя различными несовместимыми, но внутренне логически непротиворечивыми геометриями

Алан Тиуринг 1936 шықәсазы ишьақәирӷәӷәеит аангылара апроблема зеиԥш хықәкылатәи акомпиутер аҿы ишыӡбам, насгьы икылкаау алогикатә хҳәаа ыҟазаргьы апроблема зыӡбаша азеиԥш алгоритм шыҟам.[16]

Аҵарадырра аус ауеит ииашоу аобиектқәа рмодельқәа рыла, анс акә арс акә ииашоу адунеи иеиԥшым. Ари азҵаараҿы ицәырҵуа апроблема «ахсаалеи аҭыԥҭаӡареи реизыҟазаашьа» ҳәа иашьҭоуп.

Аҭҵаарадырра афилософиа, агносеологиа, апроблемақәа иреиуоуп аҭҵаарадырра анаӡара азҵаара. Иааизакны иуҳәозар, ари апроблема зҵаарала иаарԥшызар ауеит абас: «Иобиективтәума аҭҵаарадырратә дыррақәа?». Еиҳарак аларҵәара змоу ҭакуп: «иахырҟьацәамкәа ирелиативисттәуп»: ирҳау аҵаратә дыррақәа рыгәра угартә иҟоуп (иобиективтәуп), уажәтәи аамҭазы еихьыԥшым хыԥхьаӡара рацәала ахыҵхырҭақәеи аблабарақәеи рыла ишьақәырӷәӷәазар.[17]

Афилософцәа аҭҵаарадырра акритика шазыруа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Шәахә. убасгьы: Антиинтеллектуализм. Антисциентистцәа ргәаанагарала, аҭҵаарадырра ихадаратәу аилкаарақәа рышьақәырӷәӷәара алшаӡом, ус анакәха дунеихәаԥшышьала иҟанаҵо алкаақәа логикала ииашам, убри аҟнытә ари ахырхарҭа ихадоу атезисқәа иашаны рыԥхьаӡаразы асциентизм иахәҭоу ашьақәырӷәӷәара амаӡам ҳәа иԥхьаӡоуп.

Уамашәа иубаша, Аҵарадырра аамҭазы ауп аҭҵаарадырра иаҿагыло агәҽанҵарақәа еиҳа ианырацәахаз. Иаҳҳәап, Жан-Жак Руссо иҩуан аҭҵаамҭақәа рҿы ашәарҭарақәеи имцу амҩақәеи рацәаны иҟалеит ҳәа. Аҵабырг иаҳзаанаго афеида ҳауаанӡа, агхақәа рацәаӡаны ҟаҵатәыс иҳаууеит — уанӡа ҳнаӡаанӡа. Иара агәра ганы дыҟоуп, аҭҵаарадыррақәа рҿаԥхьа иқәдыргыло апроблемақәа рыӡбара рылымшозар, усҟан урҭ еиҳагьы ашәарҭарақәа шрыҵаҵәаху, урҭ рахьгьы лассы-лассы ушнарго. «Аҭҵаарадыррақәа аусдараҿы ииуеит, насгьы аусдара иазкуп, убри аан хаҭәаашьа змам аамҭа дуӡӡа рцәыӡуеит», — ҳәа Руссо ибон уи ауаажәларразы цәцашьа змам ааха шаанаго.[18] Берлинтәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ашьаҭаркҩы Леибниц, 1700 ашықәсазы Академиа ашьаҭаркратә документ шьаҭас иамаз агәалашәаратә шәҟәаҿы иҩуан, уи аусура адыррақәеи хәарҭа злам аԥышәарақәеи рҭахрақәа рхарҭәаара мацара иазырхамзар шакәу: аусуреи аҭҵаарадырреи ахәарҭа алгаразы еицымҩақәҵалатәуп..[19]

Н.П. Огариов иҩуан, аҭҵаарадырра макьана урсҟак зегьынџьара ишаларҵәам, ауаажәларра уи амацаара шьаҭас иҟаҵаны ицалартә еиԥш. Аҭҵаарадырра уаҩы цыԥхьаӡа агәра игартә еиԥш акылкаареи аҵак хаҭәааи азхаӡом.[20]

Урыстәылатәи адинхаҵаратә хәыцҩцәа рыхшыҩзцарақәа, иаҳҳәап Н.Бердиаев (1874-1948), Л.Шестов (1866-1938), С.Франк (1877-1950) реиԥш иҟоу, аҭҵаарадырра акритикаҿы иҷыдоу адаҟьа ааныркылоит. «Аҭҵаарадырра Анцәа игәрагара уажәы иԥсыҽхеит, —агәра ганы дыҟоуп Н.Бердиаев, — абсолиуттә ҭҵаарадырра, ауаҩы иԥсабара иақәшәо ​​аҵарадырратә дунеихәаԥшышьа аԥҵара алшара агәрагара ҵшәаауп». Уи зыхҟьо ҳәа иара ибоит «аҵарауаа рдогматизм ԥсабарала иҟам ҳәа уажәааигәа мап зыцәнакыз ацәырҵра ҿыцқәа аҭҵаарадырра иахьалало... Даҽа ганкахьалагьы, афилософиеи агносеологиеи еилыркааит, аҭҵаарадырра ахала ахы ашьақәырӷәӷәара шалымшо, икылкаау адырра аҳәаақәа рҟны ашьапы ишзықәымгыло. Дацԥашәла аҭҵаарадырра иҵаулаӡаны ицоит, баша наукала иузҭымҵаауа, хыхьла акәзар аҭҵаарадырра ажәҩанахь ихалоит. <…> Аҭҵаарадырратә хдырра змоу ауаа рзгьы еиҳа-еиҳа еилкаахоит адин, агәҭыӷьӷьара, анаша уҳәа ирызку азҵаара аӡбараҿы аҭҵааарадырра шымчыдоу. Насгьы иарбан ҭҵаарадырроу арҭ азҵаарақәа рыӡбараҿы агәымшәара зхахьы изгарц зылшоу? Ҳәарада афизика акәым, ахимиа акәым, афизиологиа акәым, аполитикатә економика акәым, азиндыррагьы акәым. Аҭҵаарадырра ыҟаӡам, иҟоу аҭҵаарадыррақәа мацара роуп (дисциплинак аҳасабала). Еизаку зегьы зыӡбо аҭҵаарадырра ахшыҩҵак акризис ӷәӷәаӡа иҭагылоуп, ари амиф агәрагара еилабгеит. <…> Ҭҵаарадырроуп аҟазаара ахаҭаратә формақәа рыҽрынраалара ахаҭаратә форма.[21]

Бердиаев асциентизми антисциентизми рызҵаара иара ихатәала иӡбоит, иазгәаҭо: “аҭҵаарадырра ахәԥса ҳаракы аӡәгьы гәыҩбара изцәырнагом. Аҭҵаарадырра — иузамамкуа фактуп, ауаа ирҭаху Аха ахәԥса аҳаракреи аҭҵаарадыррара аҭахреи рзы агәыҩбара ыҟазар ауеит. Аҭҵаарадырреи аҭҵаарадыррареи — зынӡаск еиԥшым маҭәарқәоуп. Аҭҵаарадыррара ахьӡуп адоуҳатә ԥсҭазаареи аҭҵаарадырреи ирыцәтәыму егьырҭ ахырхарҭақәа рахь аҭҵаарадырра акритериқәа риагара. Аҭҵаарадыррара агәраганы иҟоуп, аҭҵаарадырра адоуҳазы иреиҳаӡоу акритери шакәу, уи ишьақәнаргыло аишьҭагылашьа зегьы шаҵанакуа, уи азы изинуи изиными зегьынџьара хадара злоу аҵакы шамоу. Аҭҵаарадыррара иаку аметод аҟазаара атәы аҳәоит... Аха абраҟагьы аҭҵаарадырра аплиурализм иашьашәало аҭҵаарадырратә знеишьақәа рыплиурализм алкаазар ауеит. Иҟалом, иаҳҳәап, иԥсабаратәу аҭҵаарадыррақәа рметод апсихологиахьгьы ауаажәларратә наукақәа рахьгьы аиагара. Н. Бердиаев игәаанагарала аҭҵаарадырра ахьыԥшызаара ахдырра акәзар, аҭҵаарадыррара адоуҳа иреиҵаӡоу аҟазаара асферақәа рҟны атәхароуп, зегьынџьаратәи ахымԥадатәра аҳра аилкаароуп, «адунеи ахьанҭара» ахьыԥшхароуп. Бердиаев алкаа иҟаиҵо излаҳәо ала, аҭҵаарадырра зегьы рзы ахымԥадатәра — ҩнуҵҟала еимыжәжәо, доуҳалагьы еиҟәыҭхо ауаатәыҩса рформализм ауп.[22]

Л. Шестов иҩуеит аҭҵаарадырра ауаатәыҩса ргәы излақәшәаз зегь ахьадыруа азы акәым, ауаатәыҩса зыргәамҵуа агәыҩбарақәа зегьы акы бжьамыжь рыӡбара шалымшо ашьақәырӷәӷәарала акәым, абырсҟатәи аамҭа арыцҳа цәа зхьыкәкәоз ауаҩы иԥсҭазаашьатә бзиарақәа рыла ауп. Иара Толстои, Деостоевски реиԥш иҟоу авторцәа дрызхьаԥшуеит, аморальи аҭҵаарадырреи аиҿаргылара зҽазызшәоз, аха уи аҟаҵара злымшаз. «Азакәан мамзаргьы анорма ҩыџьа аиҳәшьцәа ирабуп — аҭҵаарадырреи ауаҩреи. Урҭ рыҩбагьы аамҭа-аамҭала еиӷацәазар ауеит, зынгьы еибабаны иаанымхо. Аха знымзар зны урҭ реиуара аиааира аганы хымԥада иааинышәоит».[23]

Шестов иара убасгьы иазгәеиҭоит еиуеиԥшым афактқәа, аҭҵаарадырра иаҭахым, имыцхәу акы акәны насҭха иканажьуа.[24] Аҵарадырра, иара игәаанагарала, еиԥмырҟьаӡакәа, насгьы ииашаны имҩаԥысуа ацәырҵрақәа рахь мацара ахшыҩзышьҭра архоит. Аҵарадырразы зегь реиҳа зыхә ҳараку материалуп ахҭысқәа, зыҟны аҭагылазаашьақәа ԥсабарала акәымкәа мчыла имҩаԥысуа, ажәакала аексперимент азы алшара аныҟоу. Иара ихы дазҵаауеит, ишԥарыԥсыхәо знык мацара иҟало, еиҭаҟамло, иагьузмырхынҳәуа ахҭысқәа ҳәа. Аҭҵаарадырра, иара игәаанагарала, урҭ рыӡбахәала аҿымҭра алнахуеит. Шестов ихаантәи ауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵоит, аҭҵаарадырратә донкихотра рхаршҭны, рхы агәрагара рҽазыршәарц азы. Убри аамҭазы афеноменқәа рацәаны (ҭоурых аамҭак азы иҷыдоу ҳәа угәы иззаанаго, аҭҵаарадырра ҭоурыхла аҿиара ихадоу аҟаазшьарбақәа иреиуоу) рыҭҵаара ауеит, урҭ ирызку афактқәа реизгарала, анаҩс урҭ еизакны, системала еиқәыршәаны, теориак ахь ииаганы,[25][26][27][28] иаҳҳәап, шьаҭанкыла аԥсахра ҟалеит акометақәа ирызку агәаанагарақәа рҿы Е. Галлеи ибзоурала: иара иаԥхьа урҭ рыцыԥхьаӡа Амратә система знык-знык иаҭаахьеит ҳәа иԥхьаӡан, аха аҵарауаҩ, 24 комета рорбитақәа ԥхьаӡаны, акометақәа ԥыҭк акы акәны иалкааны, ԥыҭрак ашьҭахь иара ихьӡ зхырҵаз, насгьы, зегьы раасҭа ихадоу, уи анаҩстәи аиҭацәырҵра аԥхьагәеиҭеит.

Аинтегралтә традиционализм ахаҭарнакцәа ҳаамҭазтәи аҭҵаарадырра аредукционисттә, анатуралисттә, аеволиуционисттә, асекулиаристтә, арационалисттә ҳәа аҟазшьарба азыҟарҵоит, насгьы уи аҵабырг иазааигәам ҳәа ирыԥхьаӡоит. Урҭ ргәаанагарала, аҭҵаарадырра агәрагарақәа рдогматикатә система ауп, игәаҭам аепистемологиа иақәгылоу, зынӡагьы идыррам, мамзаргьы, зегьы ианреиҵаха, кырӡа иԥку аҟазааразы агәаанагара иеиуоу, ахатә методологиа иахьыԥшны ирацәаны изымпыҵышшаауа.[29]

Станислав Лем иҩуан (иаҳҳәап, Summa Technologiae аҟны) Адунеи аҭҵаараҿы ауаатәыҩса рыҭҵаарадырратә знеишьа маҷк ишыԥсабаратәым, насгьы уи иахҟьаны ишыԥку:[30]

...Аԥсабара ииашоу азҵаара аҭара ахьҳалымшо. Ауаҩы Аԥсабара азҵаарақәа рацәаны иеиҭоит, иара «агәаанагарала», ҵакы змам, насгьы игәаԥхо асхемақәа ирықәшәо ​​еилыкка иҟоу аҭакқәа иоурц иҭахуп. Ажәакала, ҳара ҳҽазаҳшәоит Аиҿкаашьа иааизакны аартра акәымкәа, еиҿкаашьак мацарак аартра, реиҳа имаҷны аџьабаа зго (“Оккам иԥаҵасага”!), еилыкка иҟоу (еиуеиԥшым знеишьала аилыркааразы алшара ҳазымҭо), еицырзеиԥшу (Акосмос зегьы аҿы амчра змоу), ҳара иаҳхьыԥшым (досу иҭызҵаауа, ишҭиҵаауа иахьыԥшым) насгьы зҽызымԥсахуа (ззын Аԥсабара азакәанқәа аамҭа цацыԥхьаӡа ԥсахрада иаанхо). Аха абарҭқәа зегьы аҭҵааҩы иалеигалаз хатәзакәанқәоуп, ҳара иаҳзаатуа аҵабыргқәа ракәӡам. Акосмос ҳара ҳзы иаԥҵамызт, ҳаргьы уи азы ҳаԥҵамызт. Ҳара аеҵәатә еволиуциа иалҵшәаны иҟалаз ҳауп, насгьы Адунеиеибаркыра ус еиԥш иҟоу аалыҵқәа ҵҩа змам хыԥхьаӡарала иахылҿиаауан, иахылҿиаауеит иахьа уажәраанӡагьы.

Убри инақәыршәаны, хыхь зыӡбахә ҳәаз хадаратә принципқәак аклассикатә ҭҵаарадырра иаҵанакуеит (адунеи амеханицисттә хаҿсахьала зышьаҭа ку), урҭ рҽырыԥсахит ма ихарҭәаахеит иклассикатәыми ипостклассикатәыми адунеи асахьақәа рҿы (иаҳҳәап, аблабареи аблабаҩи акванттә процессқәа рнырра апринцип, мамзаргьы акосмогониатә теориақәак рҿы аԥсабара азакәанқәа аамҭала рыԥсахра апринцип).

Аҭҵаарадырратә усура аҿыҵгақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

А. Еинштеин игәаанагарала:[31]

Аҵарадыррахь уназго зегь реиҳа иӷәӷәоу аҿыҵгақәа иреиуоу иргәаҟгоу агәымбылџьбарареи иузеиқәымкуа аҭацәреи зцу аԥсҭазаара еизада ацәцара агәаҳәара ауп. Ари аҿыҵга зыԥсы арахәыцқәа паӡоу ауаа рхатә гәҭыхақәа рҟынтәи ииашоу адунеихәаԥшреи аилкаареи рдунеиахь иргәыҵасуеит. …

Ари алахьеиқәратә мзыз иацлоит агәырӷьаратә мзызгьы. Ауаҩы иҽазишәоит иахәҭоу амҩала иҩнуҵҟа иҟоу адунеи асахьа имарианы, еилыкка аԥҵара, ацәаныррақәа рдунеи дацәцаны џьара ҩаӡарак ала ари адунеи абри аҩыза азнеишьала иаԥиҵаз асахьа ала иԥсахырц азы.

Иҟоуп иара убасгьы убас еиԥш гәаанагарак, аҭҵаарадырра анапы алакра иаҿыҵга хаданы (иарбанызаалак егьырҭ аусхкқәа реиԥш, акультуратә лыҵшәа аиура хықәкыс измоу) иахәаԥшуа анаҩстәи аҭагылазаашьа, идырны акәымкәа, гәынхәҵысҭала ахӡыӡаара аԥшра аманы ахаҵеи аԥҳәыси ҳәа аилыхра, уи иҳаилнаркаауеит аҵарауаа рхыԥхьаӡараҿы ахацәа кырӡа иахьеиҳау аҳәса раасҭа, насгьы ауаҩытәыҩса хшыҩла иусура иреиҳау аҩаӡара аамҭа ацыԥҵәахеит иԥсабаратә ҭахра иреиҳау аамҭа ацыԥҵәахеи ахьеиқәшәо.[32][33]

Адунеи аҭҵаарадырратә сахьа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Адунеи аҭҵаарадырратә сахьа

Адунеи аҭҵаарадырратә сахьа (амодель) – аҵабырг аҟазшьақәеи азакәанеизшәарақәеи ирызку агәаанагарақәа рсистема ауп, аҭҵаарадырратә еилкаарақәеи апринципқәеи реизакреи реицҵареи иалҵшәаны иаԥҵоу.[34]

Аҭҵаарадырра аҿиарамҩаҿы адыррақәеи, ахшыҩҵакқәеи, аконцепциақәеи ҵыхәаԥҵәарада рыҽдырҿыцуеит; еиҳа зхыҵуа ахәыцрақәа атеориа ҿыцқәа рзы иҷыдоу ҭагылазаашьақәаны иҟалоит. Адунеи аҭҵаарадырратә сахьа догмаӡам, мамзаргьы набыцра змам ҵабыргым. Иааҳакәыршаны иҟоу адунеи иазку аҵарадырратә гәаанагарақәа шьаҭас ирымоуп ишьақәырӷәӷәоу аҵабыргқәеи ишьақәыргылоу амзыз-лыҵшәатә еизыҟазаашьақәеи реицҵара, уи ҳара иҳалнаршоит ҳдунеи аҟазшьақәа ирызкны аԥхьагәаҭарақәеи ауаатәыҩсатә цивилизациа аҿиара иацхраауа алкаақәеи рыҟаҵара. Атеориа, агипотеза, аконцепциа, аҵабырг ҿыцқәа ралкаара ргәаҭарақәа рылҵшәақәа реиқәымшәара — абарҭқәа зегьы иҟоу агәаанагарақәа ҿыц аиҭарыхәаԥшреи аҵабырг еиҳа иақәшәо агәаанагара ​​ҿыцқәа раԥҵареи ҳгәы азҭанаҵоит. Абри аҩыза аҿиара ауп аҭҵаарадырратә метод ҵакыс иамоу.

Ажәытәӡатәи аамҭақәа раахысгьы еиуеиԥшым амзызшьаҭақәа рыла ауаатәыҩсатә дыррақәа рыхәҭақәа реихшара рҽазыршәон.

Убас, Аристотель еиҳау-еиҵоу ҳәа аҭҵаарадыррақәа хы-хкык рыла еихишеит:[35]

  1. Иреиҳау аҭҵаарадыррақәа ргәыԥ атеориатә (мамзаргьы узхәаԥшуа) ҭҵаарадыррақәа роуп, ажәытә бырз. Быз. аҟынтәи. θεωρία «атеориа, ахәаԥшра» (афилософиа, афизика, аматематика).
  2. Урҭ ирышьҭанеиуеит апрактикатә ҭҵаарадыррақәа, ажәытә бырз. быз. аҟынтәи. πράξις «апрактика» (аполитика, аетика, аекономика).
  3. Аҭҵаарадырратә еишьҭанеира хдыркәшоит арҿиаратә, апоезиатә ҭҵаарадыррақәа, ажәытә бырз. быз. аҟынтәи. ποιησις «аԥҵара» (ариторикеи апоетикеи).

Аристотель иаԥиҵаз аформалтә логика афилософиа иеиԥшнишьаломызт; уи иарбан дырразаалак «иацәеижьхәҭаны» (имыруганы) иԥхьаӡон.[36]

Римтәи аенциклопедист Марку Варрон иклассификациа иаҵанакуан абарҭ аҭҵаарадыррақәа: аграмматика, адиалектика, ариторика, агеометриа, арифметика, астрологиа, амузыка, амедицина, архитектура.[37]

Аԥсылман араб ҵарауаа аҭҵаарадыррақәа арабтәии (апоетика, ацәажәаратә ҟазара) аҳәаанырцәтәии аҭҵаарадыррақәа (астрономиа, амедицина, аҳасабра) ҳәа еихырон.[37]

Абжьаратә шәышықәсақәа рзы

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Аҭҵаарадыррақәа рмардуан

Аклассификациа аҽазышәарақәа абжьаратә шәышықәсақәа рзгьы иацҵан. Дидаскаликон аҟны Гуго Сент-Викторски аҭҵаарадыррақәа ԥшь-гәыԥкны еихишоит:[38]

  1. Атеориатә ҭҵаарадыррақәа (аматематика, афизика).
  2. Апрактикатә ҭҵаарадыррақәа.
  3. Амеханикатә ҭҵаарадыррақәа (анавигациа, ақыҭанхамҩа, ашәарыцара, амедицина, атеатр).
  4. Алогика, аграмматикеи ариторикеи уахь иналаҵаны.

Ф. Бекон аҭҵаарадыррақәа х-гәыԥкны еихишеит (агәынкылара, ахшыҩеилгара, ахаҿаагара реиԥш иҟоу адырратә лшарақәа ирҿырԥшны):

  1. аҭоурых аҵабыргқәа рыхҳәаа аҳасабала (аԥсабаратәи аграждантәи уахь иналаҵаны);
  2. атеориатә ҭҵаарадыррақәа, мамзаргьы «афилософиа» инарҭбаау аҵакала;
  3. апоезиа, алитература, иааизакны аҟазара.[36]

Роџьер Бекон иара убас аҭҵаарадыррақәа рыклассқәа ԥшьба аликаауан: аграмматикеи алогикеи, аматематика, аԥсабаратә философиа, аметафизикеи аетикеи. Убри аан, аԥсабара иазку аҭҵаарадыррақәа ирышьаҭаны иԥхьаӡон аматематика.[38]

Енгельс иҭҵаарадыррақәа реихшара

[аредакциазура | акод аредакциазура]

1873 шықәса инаркны, Енгельс напаиркит аматериа аныҟәара аформақәа реихшара (аҭҵаарадыррақәа реихшара) — аҭҵаарадыррақәа реиқәыршәара апринцип.

Еиуеиԥшым аҭҵаарадыррақәа иҭырҵаауа аобиектқәа, акы ахьы егьи ииасуеит. Еиҭаҵуа аматериа аҿиара апроцесс (еиҵаӡоу аҟнытә еиҳаӡоу ахь, имариоу аҟынтәи иуадаҩу ахь) асубординациа апринцип ҳәа иахьӡҵан. Иазгәаҭан аҭҵаарадыррақәа ԥсабарала еицырзеиԥшу цәаҳәак аҿы ишыҟоу: амеханика... афизика... ахимиа... абиологиа. Ишьақәыргылан аҭҵаарадыррақәа рцәаҳәа: аматематика, амеханика, ахимиа, афизика, абиологиа. Аҭҵаарадыррақәа реиԥылараҿы зегь реиҳа аиасра иазыманшәалоу аҭҵаарадырра ҿыцқәа рхырхарҭақәа цәырҵит: абиохимиа, апсихолингвистика, акомпьютертә ҭҵаарадырра.

Кедров иҭҵаарадыррақәа рыклассификациа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Асовет философ, аҭоурыхҭҵааҩы, аҭҵаарадырратә методолог Б.М. Кедров еиҳа иҭырҳәыцаау аҭҵаарадыррақәа рыклассификациа еиқәиршәеит. Кедров аҵабырг зегьы аԥсабареи ауаҩи ҳәа еихишеит. Ауаҩы иҟны иара иалкааны иааирԥшит аилазаареи ахәыцшьеи. Аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа ԥсабаратәуп, аилазаара иазку аҭҵаарадыррақәа — социалтәуп, ахәыцра иазку аҭҵаарадыррақәа —философиатәуп.

Б. Кедров асовет философиаҿы аматериа аныҟәара ихадоу ф-формакны еихишон:

  • Асубатом-физикатә
  • Ахимиатә
  • Амолекулатә физика
  • Агеологиатә
  • Абиологиатә
  • асоциалтә.

Егьырҭ аклассификациақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аматематика, алогика, акомпьютертә ҭҵаарадырра, акибернетика реиԥш иҟоу икылкаау аҭҵаарадыррақәа зны-зынла иҷыдоу класск аҳасабала иалыркаауеит– аформалтә ҭҵаарадыррақәа, даҽакала абстракттә ҭҵаарадыррақәа ҳәа изышьҭоу.[39][40][41][42][43] Аформалтә ҭҵаарадыррақәа аԥсабаратәи асоциалтәи ҭҵаарадыррақәа ирҿадыргылоит, аԥышәатә ҭҵаарадыррақәа ҳәа азеиԥш рбага зоууа.[44] Аҵарауаа даҽа џьоукы аматематика икылкаау ҭҵаарадырроуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, егьырҭ зегьы — когнитивтә ҭҵаарадыррақәаны.[45][46][47][48]

Агуманитартә ҭҵаарадыррақәа лассы-лассы (еиҳарак англыз бызшәала ицәажәо атәылақәа рҿы) аҭҵааратә усхкы хазы игоу хырхарҭаны иахәаԥшуеит (адисциплинақәа ргәыԥ), аҭҵаарадырра еиԥшым — Humanities.

Ҳаамҭазтәи Урыстәыла

[аредакциазура | акод аредакциазура]

2015 шықәсазы Урыстәыла аҭҵаарадырра аиҿкааразы ФАНО аҭҵаарадыррақәа зегьы ԥшьыҟәшак рыла еихнашеит:[49]

  1. Аматематикатә, афизикатә, акомпьютертә, атехникатә ҭҵаарадыррақәа
  2. Ахимиатә ҭҵаарадыррақәа
  3. Аԥсҭазааратә ҭҵаарадыррақәа - Абиологиатәи амедицинатәи ҭҵаарадыррақәа
  4. Акәша-мыкәшатәи аԥсабара аҭҵаарадыррақәа - Адгьылҭҵаара, аекологиа уҳәа убас иҵегьы.

Аҭҵаарадырра ҿыц аԥҵара

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҭҵаарадырра ҿыц аԥҵара (ихьыԥшым аҭҵаарадырратә хырхарҭа) анаҩстәи ашьаҿақәа ацуп:

  • Иҭҵаахо аобиект ҿыц алкаара;
  • уи аобиект аҭҵааразы аметод ҿыцқәа раԥҵара;
  • аҭҵаарадырра ҿыц амаҭәари агәаҭеи рышьақәыргылара (аҭҵаарадырратә усумҭақәа, арҵаратә курсқәа, амузеиқәа, аконференциақәа, аноменклатура, уҳәа уб. иҵ.);
  • аҭҵаарадырратә школи адыррақәа рхырхарҭа ҿыц аибаркыреи ашьақәыргылара.

Аҭҵаарадырра зхы иақәиҭу дисциплинаны иԥхьаӡоуп, аҿиара апроцесс аҿы уи амаҭәар еилкаазар, уи аҭҵаарадырратә ҵакы хадара злоу асистематә шьаҭақәа ыҟазар, иҷыдоу аметодқәа аԥҵазар.[50]

Аԥсабаратә ҭҵаарадырраҿы аҭҵаарадырра ҿыцқәа раԥҵара ҿырԥштәыс иҟалар алшоит агеологиатә цикл аҭҵаарадыррақәа.

Аҭҵаарадырратә дырра ахәҭаҷқәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аҭҵаарадырратә литература

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Аҭҵаарадырратә журнал

Аҭҵаарадырратә литература - аҭҵаарадырратә усумҭақәа, амонографиақәеи ажурналқәеи.

Урҭ иаабац алитературеи афилософиатә ҩымҭақәеи ирылнакаауеит, зыгәрагоу аԥышәарақәеи аҭҵаарадырратә хыҵхырҭақәа рышьаҭеи рыла иҟаҵоу ахәыцрақәа рышьақәырӷәӷәара.

Аҭҵаарадырра аларҵәара

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Аҭҵаарадырра аларҵәара

Аҭҵаарадырра аларҵәара – ауаа рацәа рзы еилкаау ахаҿра аманы иахьатәи аамҭа иақәшәо аҭҵаарадырратә дыррақәа раларҵәара апроцесс ауп.

Аҵарадырра аларҵәара, иҷыдоу аинформациа имаҷны иазыҟаҵоу азыӡырҩы ма аԥхьаҩ ибызшәахьы «аиҭагара» — аҵарауаа-аларҵәаҩцәа рҿаԥхьа иқәгылоу зегь реиҳа ихадоу адҵақәа иреиуоуп.

Аҵарадырра аларҵәаҩ идҵа – “игәырҿыӷьгоу, иҩанҭхьу” ҳәа изышьҭоу аҭҵаарадырратә информациа, зегьы рзы аинтерес зҵоу, еилкаау, еиҳа имариоу адыррақәа рахь аиагара ауп. Ари ажәабжь ауаажәларра зегьы рахь еиԥш, уи ахәҭак, еиҵагыло аҿар — аҟыбаҩ бзиа злоу ашколхәыҷқәа рахьгьы ирхазар алшоит.[51]

Аҭҵаарадырратә фантастика аҭҵаарадырра аларҵәараҿы акыр зҵазкуа аус нанагӡоит. Иароуп аҭҵаарадырратә аартрақәа жәпакы заа иазԥхьагәазҭаз. Уи аус аҿы илагала дууп афантаст Жиуль Верн.

Аҿар аҭҵаарадырреи атехнологиаҳаракқәа рхырхарҭеи рахь рнеира, адырра змам аилазаара ахәҭа аҭҵаарадырратә проблемақәа разҿлымҳахара, аларҵәара аҩаӡара иахьыԥшуп.[52]

Аҵарауаа, аҭҵаарадырратә информациа аныҟәгаҩцәа раҳасабала, уи аиқәырхареи аихаҳареи ирызҿлымҳауп, уи иахылҿиаауеит аҿар рагәылахаларагьы. Избан акәзар, аҭҵаарадырра аларҵәара аҭҵаарадырра аинтерес зкуа ауаа рхыԥхьаӡара еизнарҳауеит, насгьы урҭ уи ралалара ҿыҵгас иазыҟалоит.[53]

Лассы-лассы иҟалалоит, аҭҵаарадырратә информациа аларҵәараан уи еиҳа ианырмариахо, хәыҷы-хәыҷла аҭҵаарадырратә лакәахь ианиасуа.

Иара убасгьы иҟалалоит, аҭҵаарадырра аларҵәараан абасеиԥш иҟоу аҭҵаарадырратә клишеқәа анцәырҵуа: адунеи амаӡақәа, “аҵарауаа иаадыртит”, уҳәа убас иҵегьы.

Тихо Браге агәраганы дыҟан аҭҵаарадырратә дыррақәа урҭ рхархәашьа здыруа анапхгаҩцәа рымацара ирымазар шакәу. Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Лиудвиг Фаддеев аҭҵаарадырра аларҵәаразы абас иҳәеит:[54]

Ҳара иаҳдыруеит, ашәахтә зшәо ауаа уеизгьы-уеизгьы иҟаҳҵо рзеиҭаҳҳәар шҳахәҭоу. Аха ҳара инагӡаны еилкаау аҭҵаарадырратә хырхарҭақәа раларҵәара ҳуалуп. Ҳаамҭазтәи аҭҵаарадырра аларҵәара еиҳа иуадаҩуп. Еиуеиԥшым акваркқәа, ацәаҳәақәа, Ианг-Миллс иҭыԥҭаӡарақәа… ртәы аҳәара ҽеила иаҳзалҵуам — амцқәа ҳцәалалоит.

Иван Ефремов иажәақәа рыла, СССР акомиссиақәеи аредакциақәеи реилатәарақәа рҿы аҵарауаа шьоукы аҭҵаарадырра-аларҵәаратә литература ҵакыдоуп ҳәа ицәажәон.[55]

ВЦИОМ имҩаԥнагаз аҭҵаара алҵшәақәа рыла, Урыстәыла ауааԥсыра рҟынтәи 81% ҳаамҭазтәи аурыс ҵарауаҩк ихьӡ рзымҳәаӡеит.[56]

Аҭҵаарадырреи амцҭҵаарадырреи

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Амцҭҵаарадырра

Амцҭҵаарадырра – ари аҭҵаарадырратә усура еиԥш зхы узырбо, аха ииашаҵәҟьаны иҭҵаарадырратәым усуп. Амцҭҵаарадырратә теориа аҷыдаҟазшьақәа иреиуоуп афактқәа хырҩа рымҭара ма реицакра, амцҳәара (Поппер икритериа ақәымныҟәара), атеориатә ҳасабырбарақәа аблабара алҵшәақәа рҿырԥшра мап ацәкра, “аҟәыӷареи”, «аилыккареи», «пату зқәу агәаанагареи» рган аанкылара аԥыжәара аҭара, еихьыԥшым аекспериментқәа рылҵшәақәа рыла ишьақәырӷәӷәам атеориа шьаҭас аҟаҵара, аҭҵаара алҵшәақәа реиҭаиуразы, мамзаргьы ихьыԥшым агәаҭаразы алшара амамзаара, аҭҵаарадырратә усураҿы аполитикатәи адинтә догмақәеи рхархәара.

Аҭҵаарадырратә еилазаара зықәшаҳаҭым атеориақәа раԥҵаҩцәа лассы-лассы «еихашәыз аофициалтә ҭҵаарадырра аҿагылаҩцәа» ҳә рхы иазырҳәоит. Убри аан, дара агәраганы излаҟоу ала “официалтә ҭҵаарадырра” ахаҭарнакцәа, иаҳҳәап, амцҭҵаарадырра аҿагылара азы акомиссиа алахәылацәа, агәыԥқәа ринтересқәа рыхьчоит(агьежь иҭаку аҭакԥхықәра), политикала аилыхра ҟарҵоит, рыгхақәа рықәшаҳаҭхара рҭахӡам, убри аҟнытә, “ажәытә” хәыцрақәа рыхьчоит, аиаша ҿыц алымкаа.

Иҭҵаарадырратәым аконцепциақәа рыхәҭак апаранаука ҳәа ахьӡ роуит.

  1. Уайтхед А. Н. Избранные работы по философии. М.: Прогресс, 1990. 716 с.
  2. Веселовский И. Н. «Аристарх Самосский — Коперник античного мира». — Историко-астрономические исследования, Вып. VII, 1961, — C.29. — 420 c.
  3. Ракитов А. И. Анатомия научного знания. — М., Политиздат, 1969
  4. Копнин П. В. Гносеологические и логические основы науки. — М., 1974, 568 с.
  5. Tuomela 1987, ад. 89–90.
  6. Алексеев 1974.
  7. «Силы» и энергия: Майкл Фарадей против Джеймса Джоуля Архив ҟаҵан 2021-06-18 азы Wayback Machine аҟны., Борис Булюбаш. Природа, № 9, 2020.
  8. Высокий уровень интеллекта превращает академиков в атеистов Архив ҟаҵан 2008-09-19 азы Wayback Machine аҟны. // Атеизм.ру
  9. Гинзбург В. Л. Вера в Бога несовместима с научным мышлением Архив ҟаҵан 2010-07-22 азы Wayback Machine аҟны. // Атеизм.ру
  10. 10,0 10,1 Социолог сосчитала верящих в Бога учёных Архив ҟаҵан 2005-11-03 азы Wayback Machine аҟны. // Membrana.ru, 12.08.2005
  11. Ответы на часто задаваемые вопросы Архив ҟаҵан 2012-11-30 азы Wayback Machine аҟны. // ВАК
  12. Физики шутят Архив ҟаҵан 2008-09-29 азы Wayback Machine аҟны. Библиотека интересного
  13. А. Я. Сухарев, В. Е. Крутских, А.Я. Сухарева. Фундаментальные научные исследования // Большой юридический словарь. — М.: Инфра-М. — 2003.
  14. Фритьоф Капра. Дао физики. ОРИС. СПб. 1994. ISBN 5-88436-021-5
  15. Ансельм А. А. Теоретическая физика XX века — новая философия Природы. «Звезда» № 1 2000 г.
  16. (в этой публикации Тьюринг вводит определение машины Тьюринга, формулирует проблему зависания и показывает, что она, также как и проблема разрешения, неразрешима).
  17. Достоверность научного знания // Физическая Антропология. Иллюстрированный толковый словарь. — 2013. Физическая Антропология. Иллюстрированный толковый словарь. EdwART. 2011
  18. Руссо Ж-Ж. Рассуждение по вопросу: способствовало ли возрождение наук и искусств очищению нравов. Трактаты. / пер. А. Д. Хаютина. М., 1969. С. 20.
  19. "Архивированная копия". Иархивтәоу аоригиналзы 2016-03-04 ахь. Ириашоу 2014-02-16 шықәсазы.
  20. Антология мировой философии: В 4 т. Т. 3. М., 1972. С. 210
  21. Бердяев Н. Н. Философия свободы. Смысл творчества. — М., 1989. С. 67, 352.
  22. Там же. С. 264—265
  23. Шестов Л. Апофеоз беспочвенности. — Л., 1991. С. 37
  24. Там же С. 170—171
  25. Thomae H. (1999). The nomothetic-idiographic issue: Some roots and recent trends. International Journal of Group Tensions, 28(1), 187—215.
  26. Cone J. D. (1986). Idiographic, nomothetic, and related perspectives in behavioral assessment. In R. O. Nelson & S. C. Hayes (Eds.): Conceptual foundations of behavioral assessment (pp. 111—128). New York: Guilford.
  27. Номотетический метод // Философский энциклопедический словарь / гл. ред.: Л. Ф. Ильичёв, П. Н. Федосеев, С. М. Ковалёв, В. Г. Панов. — М.: Советская энциклопедия, 1983.
  28. Стёпин В. С., Горохов В. Г., Розов М. А. Философия науки и техники — М., 1996. (гл. 4. Исследовательские и коллекторские программы)
  29. Shah, M. Maroof and Shah, Manzoor A. Modern science and scientism: A perennialist appraisal. Архив ҟаҵан 2015-02-25 азы Wayback Machine аҟны. // European Journal of Science and Theology, June 2009, Vol.5, No.2, 1-24
  30. Станислав Лем. Summa Technologiae. Глава 3.
  31. А. Эйнштейн. «Мотивы научного исследования» Собрание научных трудов. Том 4 -М.: Наука, стр. 39—41 Архив ҟаҵан 2012-11-01 азы Wayback Machine аҟны.
  32. Miller G. F. Sexual selection for cultural displays Архив ҟаҵан 2015-02-24 азы Wayback Machine аҟны. // The evolution of culture. Ed. by R. Dunbar, C. Knight, & C. Power. — Edinburgh: Edinburgh University Press, 1999. — PP. 71-91.]
  33. Satoshi Kanazawa. Scientific discoveries as cultural displays: a further test of Miller’s courtship model Архив ҟаҵан 2014-09-06 азы Wayback Machine аҟны. // Evolution and Human Behavior. — Vol. 21 (2000). — PP. 317—321.
  34. Садохин, Александр Петрович. Концепции современного естествознания: учебник для студентов вузов, обучающихся по гуманитарным специальностям и специальностям экономики и управления / А. П. Садохин. — 2-е изд., перераб. и доп. — М.: ЮНИТИ-ДАНА, 2006. стр. 17 (1.5. Научная картина мира)
  35. Теория познания. Классификация наук https://magisteria.ru/aristotle-intro/epistemologiya-i-teologiya-aristotelya Архив ҟаҵан 2019-02-28 азы Wayback Machine аҟны.
  36. 36,0 36,1 Философия для аспирантов : учебное пособие / В. П. Кохановский [и др.]. — 2-е изд. — Ростов н/Д. : Феникс, 2003. — 448 с. — (Высшее образование). — ISBN 5-222-03544-1
  37. 37,0 37,1 Speziali P. Classification of sciences битая ссылкаАрхив ҟаҵан 2008-06-19 азы Wayback Machine аҟны. // Dictionary of the History of Ideas. Vol. 1. P. 464.
  38. 38,0 38,1 Speziali P. Classification of sciences Архив ҟаҵан 2008-06-19 азы Wayback Machine аҟны. // Dictionary of the History of Ideas. Vol. 1. P. 465.
  39. C. West Churchman. Elements of Logic and Formal Science. New York: J. B. Lippincott Co., 1940.
  40. James Franklin. The formal sciences discover the philosophers' stone // Studies in History and Philosophy of Science. Vol. 25, No. 4, pp. 513—533, 1994.
  41. Stephen Leacock. Elements of Political Science. Houghton, Mifflin Co, 1906. P. 417.
  42. Bernt P. Stigum. Toward a Formal Science of Economics. MIT Press, 1990.
  43. Marcus Tomalin. Linguistics and the Formal Sciences. Cambridge University Press, 2006.
  44. Mario Augusto Bunge. Philosophy of Science: From Problem to Theory. — 1998. — С. 24. — ISBN 0-765-80413-1.
  45. "Что такое когнитивная наука". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2008-12-07 ахь. Ириашоу 2008-10-16 шықәсазы.
  46. "Вторая международная конференция по когнитивной науке". Иархивтәоу аоригиналзы 2008-10-19 ахь. Ириашоу 2008-10-16 шықәсазы.
  47. "М. В. Фаликман. Введение в когнитивную науку (программа спецкурса)". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2008-09-24 ахь. Ириашоу 2008-10-16 шықәсазы.
  48. "Журнал Санкт-Петербургский университет ISSN 16811941 / Страница новостей". Иархивтәоу аоригиналзы 2007-07-17 ахь. Ириашоу 2008-10-16 шықәсазы.
  49. Информационные ресурсы Центры коллективного пользования и уникальные научные установки в организациях, подведомственных ФАНО России: [Москва. 20-21 окт. 2015 г.] М.: ФАНО России, 2015.
  50. Гунтау М., Мюльфридель В. Труды Абраама Готтлоба Вернера по минералогии и геологии // История геологии: Доклады. Ереван: Изд-во АН Арм. ССР, 1970. С. 327—337.
  51. "Экология чтения и роль научной популяризации" (PDF). Иархивтәоу (PDF) аоригиналзы 2012-10-20 ахь. Ириашоу 2008-10-15 шықәсазы.
  52. "Стратегии научной популяризации в России". Иархивтәоу аоригиналзы 2014-08-01 ахь. Ириашоу 2013-03-22 шықәсазы.
  53. "Игорь ЛАГОВСКИЙ: «Государству должна быть выгодна популяризация науки»". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2012-01-19 ахь. Ириашоу 2008-10-15 шықәсазы.
  54. Показуха по науке Архив ҟаҵан 2017-03-19 азы Wayback Machine аҟны. Компьютерра
  55. Иван Ефремов. О широкой популяризации науки // Литературная газета : газета. — 1953. — Вып. 24 марта. — С. 3. Архивировано 24 рашәарамза 2021 года.
  56. Н. Подорванюк, А. Борисова. Наука людям вообще по барабану… Архив ҟаҵан 2011-06-08 азы Wayback Machine аҟны.