Аҩыра

«Аҩыра»– ари иааизакны аҩыратә текстқәа раԥҵара апроцесс ауп.[1][2] Мраҭашәаратәи акультураҿы аҩыра иаҵанакуеит адыргақәа, ма асимволқәа рхархәарала текстла иаарԥшу абызшәа (аҩыра ҳәа еицырдыруа). Аҩыраҿы ахархәара рымазар алшоит ацәажәара афонетикатә елементқәа зныԥшуа абстракттә символқәа, иаҳҳәап, индоевропатәи абызшәақәа рыҟны еиԥш, мамзаргьы ахархәара рымазар алшоит аобиектқәа ирмариоу рсахьақәеи аилкаарақәеи, иаҳҳәап, Амрагыларатәи Азиеи Ажәытәтәи Мысреи рпиктографиатә ҩыратә формақәа рыҟны еиԥш. Ус шакәугьы, урҭ ацаҟьа иануи аҿыханҵеи рсахьақәа иреиԥшым, иара убас итекстәым аинформациа еиқәзырхо исимволтәым азнеишьақәа, иаҳҳәап аудиокассетақәа.
Иҷыдоу адыргатә система аҳасабала аҩыра ҭырҵаауеит аграмматологиа, аепиграфика, апалеографиа реиԥш иҟоу адисциплинақәа.
Аҩыра аамҭеи ақәыԥшылареи рҿы ауаҩы ибызшәа арҭбаара иазкуп. Еиҳарак аҩыра цәырҵит ажәытәтәи акультурақәа рполитика арҭбаара иабзоураны. Урҭ ирҭахын игәрагоу амҩақәа аинформациа аиҭагаразы, афинанстә ҳасабырба аиқәырхаразы, аҭоурыхтә гәалашәарақәа реиқәырхаразы уҳәа.[3] Ҳера ҟалаанӡа IV азқьышықәсазы, ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәеи административтә напхгареи рҭахрақәа ауаҩы игәынкыларатә лшарақәа иреиҳахеит, убас, аҩыра аҳасаббареи аинырреи рзы еиҳа игәрагоу мҩаны иҟалеит. Ажәытәтәи Мысра аҟны, Месоамерика аҟны еиԥш, амзарқәеи аполитикатә ҭахрақәа инарықәыршәаны ауаажәларратәи аԥсабаратәи хҭысқәа ранҵареи рзы аҩыра аҿиара аиуит.
Аинформациа анҵашьа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Уеллс иҳәоит, аҩыра иалшоит «аиқәшаҳаҭрақәа, азакәанқәа, ауасиаҭқәа адокументқәа раҳасабала реиқәырхара. Уи ижәытәу ақалақь-ҳәынҭқаррақәа рҟынтәи, шәагаала аҳәынҭқаррақәа рҟынӡа реизҳара алнаршоит. Аԥшьаҩы ма аҳ иажәеи, уи ихәдықәҵарақәеи, илаԥши ибжьи рҳәаақәа хараӡа ирҭыҵыр рылшоит, насгьы иԥсра ашьҭахь анырра ҟанаҵар алшоит».[4]
Аҩыра ахкқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ихадоу аҩыра ахкқәа (ажәаҳәа аҭаҩра аметодқәа) ԥшь-категориак рыла еихшоуп: алогографтә, ацыратә, анбантә, аҷыдаҟазшьатә. Иҟоуп ахәбатәи акатегориагьы – аидеографиатә ҩыра (агәҭакқәа рсимволқәа), ахаангьы абызшәа аарԥшра аҩаӡара аҟынӡа аҿиара змамыз. Афбатәи акатегориа – апиктографиатә ҩыра, ахала абызшәа азаарԥшуам, аха лассы-лассы алогографтә системақәа рышьаҭа шьақәнаргылоит.
Алогограммақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Алогограмма – хазы иҟоу ажәақәа ма аморфемақәа зныԥшуа адыргақәа ранҵара иазкуп. Ацәажәара анҵаразы хыԥхьаӡара рацәала алогограммақәа аҭахуп, урҭ рҵаразы – акыр шықәса. Ари, алфавиттә ҩыра иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, алогографтә ҩыра иамоу зегь реиҳа ихадоу гхоуп. Аха, ас еиԥш иҟоу абызшәа анырҵалак ашьҭахь, уи ихадоу ахархәара ааԥшуеит - ирццакны аԥхьара. Иарбанзаалак аҩыратә система инагӡаны илогографтәым: урҭ зегьы алогограммақәа инарымаданы, афонетикатә компонентқәагьы рымоуп («алогосиллабтә» компонентқәа акитаи ҩыраҟны еиԥш, асалҩыра, маиа рҩырақәа рҿы адырга аморфема, ацыра ма рыҩбагьы аанарԥшыр алшоит; «алогоконсонанттә» компонентқәа аиероглифқәа рҿы). Урҭ рӷьырак аидеографиатә компонентқәа рыла ишьақәгылоуп (акитаитә «радикалқәа», аиероглифтә «аарпшыгақәа»). Иаҳҳәап, маиа рҩыраҿы адырга “арӡысага” азы “ка” рҳәоит, насгьы уи ахархәара аиуеит ацыра "ка" аарԥшразы, иаҭахума алогограмма аҳәашьа арбара, мамзаргьы иара алогограмма ыҟамзар. Акитаи ҩыраҟны, 90% раҟара асимволқәа, “радикал» ҳәа изышьҭоу, асемантикатә (аҵакытә) елементқәа рыла еидҳәалоуп, уи иацуп аҳәашьа аазырԥшуа асимвол «афонетикатә» ҳәа изышьҭоу. Аха афонетикатә елементқәа алогографиатә елементқәа хадырҭәаауеит.[5]
Иахьатәи аамҭазы ахархәара змоу алогографтә система хадас иҟоу акитаитә иероглифқәа, ԥсахрақәак алагаланы Китаи, Иапониа, еиҳа имаҷны Аладатәи Кореиа акореиатәи абызшәаҿы ахархәара рымоуп. Даҽа ҿырԥштәык – аклассикатә “ҩыра и.”
Ацыратә (асиллабикатә) ҩыра
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ацыратә (асиллабикатә) ҩыра – ацырақәа рыла ишьақәгыло аҩыратә дыргақәа реизгоуп. Ацыратә (асиллабикатә) ҩыраҿы адырга еиҳарак иаарԥшуп абжьыҟеи ацыбжьыҟеи реицааирала, мамзаргьы бжьыҟа мацарак ала. Аха зны-зынла адыргақәа иаадырԥшуеит еиҳа иуадаҩны еилоу ацырақәа (иаҳҳәап, ацыбжьыҟа-абжьыҟа-ацыбжьыҟа ма ацыбжьыҟа-ацыбжьыҟа-абжьыҟа). Ацырақәа рфонетикатә еимадара алфавит ианыԥшӡом. Иаҳҳәап, ацыра «ка» зынӡа еиԥшхаӡом ацыра «ки», насгьы алфавит аҿы урҭ абжьыҟақәа злоу еиԥшу ацырақәа арбаӡам.
Ацыратә (асиллабикатә) ҩыра ацыра имариоу аилазаашьа змоу абызшәақәа еиҳа ирнаалоит, иаагозар аиапон бызшәа. Ацыратә (асиллабикатә) ҩыра зхы иазырхәо егьырҭ абызшәақәа рахьынтә рыӡбахә ҳәазар ҟалоит микентәи ацәаҳәатә ҩыра Б, черокааи ндиукааи рҩыра, англыз бызшәа шьаҭас измоу Суринама иҟоу акреол бызшәа, иара убас Либериа иҟоу аваи бызшәа. Алогографиатә системақәа реиҳарак иӷәӷәоу ацыратә компонентқәа рымоуп. Аефиоптә ҩыра, алфавит шьаҭас ишамоугьы, еилоу ацыбжьыҟақәеи абжьыҟақәеи рыла ишьақәгылоуп, убри аҟнытә ари аҩыра ацыратә (асиллабикатә) ҩыра аҳасабала иҭҵаауп.
Алфавитқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]
Алфавит – ари абызшәа афонемақәа аазырԥшуа, мамзаргьы ҭоурыхла иаазырԥшуаз, адыргақәа реидкыла ауп. Афонологиатә алфавит аҿы афонемақәеи анбанқәеи аҩганкгьы рыла ибзианы еиқәшәоит: изыҩуа ажәа аҳәашьа идыруазар, ажәа аҩышьагьы идыруеит, изҳәо ажәа аҩышьа идыруазар, ажәа аҳәашьагьы идыруеит.
Абызшәақәа, рҩышьатә системақәа ирхьыԥшымкәа, лассы-лассы аҿиара роуеит. Аханатә дара ирнымаалоз егьырҭ абызшәақәа рҟынтәи аҩырақәа рыдыркылоит, убри аҟнытә алфавит аҿы иарбоу анбанқәа афонемақәа иахьынӡарықәшәо азгәаҭаны бызшәак аҟынтәи даҽа бызшәак ахь рҽырыԥсахуеит.
Ацыбжьыҟатә (аконсонанттә) ҩыра
[аредакциазура | акод аредакциазура]Мрагылара-ааигәатәи алфавитқәа реиҳарак ацыбжьыҟақәа рымацара рыла ишьақәгылоуп, зны-зынла абжьыҟақәа адиакритикатә дыргақәа рыла иаарԥшызар ауеит. Ари аҷыдара цәырҵит Мысратәи аиероглифқәа рнырра иахҟьаны. Ас еиԥш иҟоу асистемақәа «абџьадқәа» ҳәа ирышьҭоуп, араб бызшәала иаанагоит «алфавит».
Ацыбжьыҟа-цыратә (аконсонант-силлабикатә) ҩыра
[аредакциазура | акод аредакциазура]Индиа, Алада-Мрагыларатәи Азиа ралфавитқәа реиҳарак рҿы абжьыҟақәа адиакритикатә дыргақәа рыла, мамзаргьы ацыбжьыҟа аформа ԥсахны иаарԥшуп. Ас еиԥш иҟоу аҩыра «абугида» ҳәа иашьҭоуп. Иҟоуп абугидқәак, иаҳҳәап, геез, кри, ахәыҷқәа ацыратә (асиллабикатә) аҳасабала ирҵо, убри аҟнытә урҭ лассы-лассы ацыратә (асиллабикатә) ҩыра иахырыԥхьаӡалоит. Аха, ацыратә (асиллабикатә) ҩыра хаҭа еиԥш, урҭ цырацыԥхьаӡа хаз-хазы адыргақәа рымаӡам.
Зны-зынла атермин «алфавит» иаҵанакуеит абжьыҟақәеи ацыбжьыҟақәеи азырбо хазы иҟоу анбанқәа рсистема, иаҳҳәап, алаҭын алфавит, абугидқәагьы абџьадқәагьы алфавитқәа рахь иаҵанакыр рылшоит. Убри аҟнытә абырзен алфавит лассы-лассы адунеи аҿы раԥхьатәи алфавитны ирыԥхьаӡоит.
Аҷыдаҟазшьатә алфавит
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҷыдаҟазшьатә алфавит абызшәа шьақәзыргыло афонемақәа ирыхәаԥшуеит. Иаҳҳәап, ақьышәқәа рыла ишьақәгыло ашьҭыбжьқәа зегьы ("ақьышәтә" шьҭыбжьқәа) еицырзеиԥшу елементк рымазар ауеит. Алаҭын алфавит аҿы уи убарҭоуп «b», «p» реиԥш иҟоу анбанқәа рыҟны. Аха ақьышәтә «m» зынӡа даҽа хкуп, насгьы уи еиԥшу «q» иқьышәтәым. Кореиатәи аҩыра хангыль аҿы ақьышәтә цыбжьыҟақәа рыԥшьбагьы еиԥшны ишьақәгылоуп. Аха апрактикаҿы акореиатәи абызшәа ахәыҷы ирҵахоит еицырдыруа алфавит шьаҭас иаманы, уи иамоу аҷыдаҟазшьатә елементқәа ракәзар, уаҩы изгәамҭо иаанхоит.
Аҷыдаҟазшьатә алфавит даҽа ҿырԥштәык аҳасабала иаагазар ҟалоит, анапырхахаратә бызшәақәа жәпакы рзы еицырдыруа анапырхахаратә ҩыра, анапқәеи ахаҿи рыҵасра аиконографиатә дыргақәа рыла иаарԥшуп. Аҷыдаҟазшьатә алфавитқәа ахархәара рымоуп афантастикатә ма иаԥҵоу асистемақәа рҿгьы, иаҳҳәап, Џь.Р.Р. Толкин иаԥиҵаз тенгвар.
Аҩырақәа рсистема аҭоурыхтә нырра
[аредакциазура | акод аредакциазура]
Аҭоурыхҭҵааҩцәа аҭоурых иаԥхьааиуа ахҭыси, аҭоурыхи реиԥшымзаара иазааҭгылоит: аҭоурых шьақәыргылахоит аҩыра ацәырҵрала. Ажәытәӡатәи ажәларқәа ацаҟьа иану рҩырақәеи апетроглифқәеи аҩыра аԥхьа иҟаз аҳасабала иԥхьаӡазар ҟалоит, урҭ ҩырахаҭаны иԥхьаӡатәым, избанзар абызшәа шьақәдыргылаӡом.
Аҩыра асистема уи зхы иазырхәоз ауаа рҭахрақәа инарықәыршәаны, есымша аҽаԥсахуан, иҿион. Зны-зынла аамҭа цацыԥхьаӡа адыргақәа рформа, рҭыԥ, рҵакы рҽырыԥсахуан. Аҩыратә дыргақәа рыҿиара гәаҭауа, еилкаахар алшоит урҭ зхы иазырхәоз ауаа рҭахрақәа, насгьы аамҭа цацыԥхьаӡа урҭ аҭахрақәа рыҽшырыԥсахуаз.
Аҩыратә маҭәахәқәеи амыругақәеи
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ауаатәыҩса рҭоурых ахьынӡанаӡааӡо аҩыразы рхы иадырхәон еиуеиԥшым амаҭәахәқәеи амыругақәеи, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан ахаҳәтә ҩыраӷәқәа, анышәаԥшьтә ҭаӡҩырақәа, ацәатә ҭаӡҩырақәа, апергамент, ақьаад, абҩатә бӷьыцқәа, агрифельқәа, аҵысхәқәа, амарқьаф, ашәыгахьшьыгақәа, акарандашьқәа, аҩыгақәа уҳәа еиуеиԥшым алитографиатә хкқәа. Иҟоуп агәаанагара аҩыра аҳасабала, аинкқәа арахәыцқәа реиқәҳәаларҭақәа, кипу ҳәа изышьҭоу, рхы иадырхәон ҳәа.[6]
Анаҩс, аҩыратә мыруга аҳасабала, инарҭбааны ирылаҵәо иалагеит акьыԥхьга машьынақәеи еиуеиԥшым атексттә процессорқәа рформақәеи, иара убас ҳаамҭазтәи аҩыратә мыругақәеи ажәытә ҩыгақәеи акарандашьқәеи ахьеиҿдырԥшуа аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит.[7][8][9][10][11]
Шәахә. иара убас
[аредакциазура | акод аредакциазура]
|
Азгәаҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ J. Derrida Of Grammatology, p.9 (англ.)
- ↑ "Жак Деррида и грамматология". Иархивтәоу аоригиналзы 2010-03-29 ахь. Ириашоу 2010-03-25 шықәсазы.
- ↑ Robinson, 2003, p. 36 (англ.)
- ↑ Wells in Robinson, 2003, p.35 (англ.)
- ↑ Smith, Frank. Writing and the writer. Routledge, 1994, p. 142 (англ.)
- ↑ The Khipu Database Project Архив ҟаҵан 2011-07-22 азы Wayback Machine аҟны. (англ.)
- ↑ Daniel Chandler: Do the write thing?, Electric Word, v.17, 1990, pp. 27-30 (англ.)
- ↑ Daniel Chandler: The phenomenology of writing by hand, Intelligent Tutoring Media, v.3(2/3), 1992, pp. 65-74 (англ.)
- ↑ Daniel Chandler: Writing strategies and writers' tools, English Today: The International Review of the English Language, v.9(2), 1993, pp. 32-80 (англ.)
- ↑ Daniel Chandler: Who needs suspended inscription?, Computers and Composition, v.11(3), 1994, pp. 191—201 (англ.)
- ↑ Daniel Chandler: The Act of Writing: A Media Theory Approach, Prifysgol Cymru, Aberystwyth, 1995 (англ.)
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Robinson, Andrew The Origins of Writing // David Crowley and Paul Heyer (eds) Communication in History: Technology, Culture, Society (Allyn and Bacon, 2003).