Аҩадатәи Америка аҭоурых
Аҩадатәи Америка аҭоурых иааныцҳауеит уаҟа инхо ажәлар рҭоурых ахҭысқәа. Африка, Европа, Азиа аконтинентқәа рҟынтәи Аҩадатәи Америка аконтинент алкаауп уи ауаа рыла анырхара шыҟалаз — инақәырԥшшәа 15000 шықәса рыԥхьа[1]. Иҟалап амҩа аартыҩцәа Берингтәи аӡыбжьахала хҵәаны, зымҽхак ҭбаау аахыҵ (ацтекцәа, маиаа) инаркны аҩада (иаҳҳәап, аинуитцәа) рҟынӡа рыҽндырхеит. Хымԥадатәи аиҟәыҭхара иабзоураны инагӡамыз аилазаарақәа рхатәы культура шьақәдыргылеит.
Иреиҳаӡоу Агеографиатә аартрақәа аепохаан. Аевропауаа Америка аӡбахә анраҳа, иалагеит аколониалтә қәыларақәа, иара аҩадатәи аладатәи ахәҭақәа рҿы. Амҩа аартҩы Христофор Колумб иакәын, уи Адунеи Ҿыц ампыҵахалара алагамҭа шьҭеиҵеит. Ари аконтинент Великобританиа, Франциа, Испаниа ринтересқәа ахьеиқәшәо шьаҭас иҟалеит. Аресурсқәа акәша-мыкәша иҟаз аконфликтқәа жәпакы аибашьрақәа рахь иаанагеит, уи иагьахылҽиааит ЕАА Мексикеи ахьыԥшымразы ақәԥара ареволиуциа. 1867 шықәсазы Канадатәи Аконфедерациа аԥҵан, иааизакны иуҳәозар, ишьақәгылан иахьатәи аполитикатә хаҿра.
XIX ашәышықәса инаркны XX ашәышықәсанӡа аҳәынҭқаррақәа реидҵара мҩаԥысуан: ихақәиҭу ахәаахәҭра, арратә еидгылақәа, Мексика инхоз ауаа рынхарҭа ҭыԥ аԥсахра.
Европа
- Ихадароу астатиа: Америкатәи аконтинент археологиа
Америка ауаа рықәнырхара

- Ихадароу астатиа: Америка ауаа рықәнырхара
Америка ауаа рықәнырхара апроцесс акыр аимак-аиҿакқәеи аҭҵаарақәеи цәырнагоит. Гәаанагарак ишаҳәо ала, Америкахь раԥхьаӡатәи ауаа ықәнагалеит Сибреи алиаскеи рыбжьара иҟоу Берингиа ала. ЕАА аҟны, еиҳарак апалео-индиатәи абаҟақәа реизакра ԥшаауп аҩада Алабама аштат аҟны. Абарҭ абаҟақәа рҟынтәи еиҳараӡа астратиграфиа аганахь ала азҽлымҳара амоуп Стенфилд-Уорли Ацаҟьатә нхарҭа, уаҟа иарбоуп икьасоу алититә инаркны миссисиптәи апериоднӡа аҿыгҳара аишьҭагылашьа[2].
Аҩадатәи Америка Колумб иаартрақәа ҟалаанӡа
- Ихадароу астатиа: Колумб иаԥхьатәи ацивилизациақәа

Архаикатә аамҭа
- Ихадароу астатиа: Архаикатә аамҭа (Аҩадатәи Америка)
Вудлендтәи аамҭа
- Ихадароу астатиа: Вудлендтәи аамҭа
Миссисипи аамҭа
- Ихадароу астатиа: Миссисиптәи акультура
Аевропауаа раԥхьа, Аҩадатәи Америка ахылҵышьҭрақәа хыԥхьаӡара рацәала ауаажәларра-ашьҭратә шьақәгылашьа еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҿы иҟан. Иуԥыларц ҟалон анратә ашьҭра, иара убас абратә ашьҭра ашьақәгылашьа, насгьы ашьҭратә аҟынтәи аклассратә уаажәларрахь аиасра[3].
«Иаацәыҵыҵуа акит» (Rising Whale) аиланхарҭаҿы, Алиаска аштат Еспенберг араион аҟны Стиуард адгьылбжьахалаҿы иԥшаан зқьышықәса зхыҵуаз аџьазтәи аихатәи артефактқәа, уи ишьақәнарӷәӷәоит Америкеи (Алиаска) Мрагыларатәи Азиа ауааԥсыреи реимадара атәы[4][5][6].
Америка аколонизациа
- Ихадароу астатиа: Америка аколонизациа
Раԥхьатәи аҭҵаарақәа
Европеи Америкеи Атлантикатәи аокеан ала еиҟәыҭхоуп азы урҭ аԥраӷбақәа ҟалаанӡа реимадара уадаҩын. Алегендақәа руак ишаҳәо ала, скандинавтәи амшынланыҟәаҩ Леиф Ерикссон америкатәи агаҿа даҭааит Баффинтәи Адгьыл араион аҟны[7].
Мексика ампыҵахалара
- Ихадароу астатиа: Мексика ампыҵахалара
Афранцызцәа рколонизациа
- Ихадароу астатиа: Америка афранцызтәи аколонизациа
Раԥхьатәи аколониақәа
- Ихадароу астатиа: Америка англызтәи аколонизациа
Аҩадатәи Америка аколониалтә аамҭазы
Испаниа Ҿыц
- Ихадароу астатиа: Испаниа Ҿыц
Британиатәи Америка
- Ихадароу астатиа: Британиатәи Америка

Ареволиуциақәа раамҭа
ЕАА ахьыԥшымразы ақәԥара
- Ихадароу астатиа: ЕАА ахьыԥшымразы ақәԥара
Мексика Ахьыԥшымразы ақәԥара
- Ихадароу астатиа: Мексика Ахьыԥшымразы ақәԥара
Техас ахьыԥшымразы ақәԥара
- Ихадароу астатиа: Техас ахьыԥшымразы ақәԥара
Аибашьрақәеи ампыҵахаларақәеи
ЕАА атәылауаҩратә еибашьра
- Ихадароу астатиа: ЕАА атәылауаҩратә еибашьра
Мексикахь аинтервенциа
- Ихадароу астатиа: Мексикахь англиатә-франктә-испантә аинтервенциа
Аҩадатәи Америка XIX ашәышықәса анҵәамҭазы

Азгәаҭақәа
- ↑ "The Human Journey: Migration Routes". National Geographic Society. 1996–2001. Иархивтәоу аоригиналзы 18 жьҭаарамза 2014 ахь. Ириашоу 6 жьҭаарамза 2014 шықәсазы.
- ↑ Wolfgang Haberland Amerikanische Archäologie. — Darmstadt: Wissenschaftliche Buchgesellschaft, 1991. — ISBN 3-534-07839-X.
- ↑ Гуляев В. И. Америка и Старый Свет в доколумбову эпоху / Отв. ред. д-р ист. наук А. Л. Монгайт. Академия наук СССР.. — М.: Наука, 1968. — 184 с. — (Научно-популярная серия). — 25 000 экз.
- ↑ "Учёные: жители Азии знали об Америке за столетия до Колумба". Иархивтәоу аоригиналзы 13 нанҳәамза 2016 ахь. Ириашоу 29 ԥхынҷкәынмза 2019 шықәсазы.
- ↑ "Evidence of Eurasian metal alloys on the Alaskan coast in prehistory, 2016". Иархивтәоу аоригиналзы 29 ԥхынҷкәынмза 2019 ахь. Ириашоу 29 ԥхынҷкәынмза 2019 шықәсазы.
- ↑ "Evidence of Pre-Columbus Trade Found in Alaska House, 2015". Иархивтәоу аоригиналзы 29 ԥхынҷкәынмза 2019 ахь. Ириашоу 29 ԥхынҷкәынмза 2019 шықәсазы.
- ↑ "Сага о гренландцах". Иархивтәоу аоригиналзы 26 абҵарамза 2013 ахь. Ириашоу 18 цәыббрамза 2014 шықәсазы.