Аԥсны аҳәынҭқарратә герб

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Аҧсуа агерб» аҿынтә еиҭа ишьҭиз)
Аԥсны аҳәынҭқарратә герб

Аԥсны аҳәынҭқарратә герб (Аԥсны Аҳәынҭқарра) аофициалтә ҳәынҭқарратә символуп.

Агерб асиужет Нарҭаа репос иадҳәалоуп. Агерб аԥшшәахәы иаҵәа символра азнауеит аҿареи аԥсҭазаареи, ашкәакәа – адоуҳара. Аа-кәакьҭак змоу аеҵәа ду, ари аиҭеира асолиартә дыргоуп. Аеҵәа хәыҷқәа Мраҭашәареи Мрагылареи ркультурақәа реизакзра символра рзыруеит. Аԥсны Аҳәынҭқарратә Герб хыхьынтә ҵаҟала еиҟароу ҩ-хәҭакны – ашкәакәеи  аиаҵәа ԥшшәи рыла ишоу ԥыракуп. Агерб ацәаареи асиужеттә еиҿартәашьеи - хьыԥшшәылоуп. Агерб ҵаҟатәи ахәҭаҟны аа-кәакьк змоу ихьыԥшшәылоу аеҵәа ануп. Агерб аҩадатәи ахәҭаҟны симметриала ашкәакәеи аиаҵәа ԥшшәи ирнубаалоит ҩ-еҵәа хьыԥшшәылак.

Агерб агәҭаны – аеҵәақәа рахь ахҿа зышьҭуа алакә ҽы - Арашь иақәтәоу аҽыуаҩ дануп. Агерб асиужет Нарҭаа ирызку аԥсуаа рфырхаҵаратә епос иадҳәалоуп. Агерб иану аԥшшәахәы иаҵәа символра азнауеит аҿареи аԥсҭазаареи, ашкәакәа – адоуҳара. Аа-кәакьҭак змоу аеҵәа ду– аиҭеира адин-қьабзтә дыргоуп. Аеҵәа хәыҷқәа  Мраҭашәареи Мрагылареи ркультурақәа ҩба реизааигәара символра рзыруеит.

Азхьарԥшқәа[аредакциазура | акод аредакциазура]