Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Версия от 18:41, 25 жәабранмза 2018; Daut 777 (ахцәажәара | алагалақәа) (Daut 777 переименовал страницу Аҧсуа абыраҟ в Аҧсуа абираҟ: грамматическая ошибка)
Аҧсуа абираҟ

Аҧсуа абираҟ - Аҧсны Аҳәынҭқарра бираҟоуп.

Абираҟ автор - Валери Гамгиа.

Апропорциа - 1:2

Атоурых

Абасгаа рбираҟ

Аҧсуа бираҟқәа еиҳа ижәытәӡоу рсахьақәа рнуп Кәыдры аха ҿы Гәараҧ ашьха ишьҭоу далаа ркульттә хаҳә аҿы. Ишәдыру еиҧш, анапы акульт ажәытәтәи ажәларқәа аӡәырҩы рыҩныҵҟа ахархәара аман... Аҧсны, ари зыӡбахә ҳәоу Гәараҧ ашьхаҿы ишьҭоу акульттә хаҳә аҿы ада-гьы асахьа ануп Афон ҿыц иҟоу аҳаҧы Агца аҟны. Аҵарауаа изларҳәо ала, абираҟ ахьыӡ 8-9-10-11 ашәышықәсқәа раан Аҧсуа ҳәынҭқарра иаҵанакуаз атопонимқәа рҿы иуҧылоит, иаҳҳәап, “Анаҧа” ахьыӡ аҟны... Абаза бызшәаҿы иҟоуп абираҟ ахьыӡқәа ҩба – “абираҟ” иара убас “анапы”.


13 ашәышықәса алагамҭазы Аҧсны амшын аҧшаҳәа лассы рхы иадырхәо иалагеит ақ. Генуиа аҟнытә италиатәи ахәҳахәҭцәа: идыргылоит ахәаахәҭратә факториақәа, абаашқәа. Танаиси (Азови) Севастополиси (Аҟәеи) рыбжьара генуеаа зынӡа иаҧырҵеит 39 колониеи, факториеи, ҳаблеи. Аҟәа аҭыҧан иаҧҵан аҩыратә хыҵхырҭақәа рыҟны еиуеиҧшымкәа зыхьӡ аагоу афакториа: Себастополис, Санастополи, Сканосколполи, Сант-Себастиан, Севаст. Ақалақь ауааҧсыра рхыҧхьаӡара ари аамҭазы 2000-2500 –ҩык рҟынӡа инаӡоит. Ара иҟан атәыҭиирҭа џьармыкьа, акафедралтә католикатә ныхабаа, аконсул итәарҭа, абанкқәа рхаҭарнакцәа, аҳаза алхҩцәа уҳәа уб. егь. Ақалақь иахаргылоу зегь раасҭа изаатәу абираҟ асахьа арбоуп аиталиауаҩ Пиотр Висконти ихсаалаҿы 1320 ш. (шәахә. алада). Абри ашықәсан ари абираҟ асахьа аҩызаҵәҟьа ҭихуеит аҭоурыхҭҵааҩ, асенатор Санудо... 1320 шықәса инаркны 1327 шықәсанӡа шьҭа аџьар ҟаҧшьи уи аганқәа рҿы агьежь хәыҷқәа ҧшьбеи зныз аш шкәакәа Аҟәа иахашәыршәыруан.


1385 шықәсазы Аҟәа иахагылаз анапы асахьа зныз абираҟ ҭихуеит Гвильельма Солери. Анапы абираҟ ахәы ашҟа ихоуп. Инеиҭак-ааиҭакуа Аҟәа иахагылаз абираҟ анапы асахьа анҵара, аҧсуаа иааиҧмырҟьаӡакәа ақәылаҩцәа ирҿагыланы имҩаҧыргоз ақәҧареи аиааирақәа ргареи иазҳәазар ҟалоит.

Абжьарашәышықәсатәи абираҟқәа

Аҟәа – Мрагыларатәи Амшынеиқәаҿықә аҟны акырӡа зҵазкуа хәаахәҭратә баҕәазаны, иара убас генуеаа колонизациа ззыруаз амшын аҧшаҳәаҿы хадара зуаз ҭыҧны иҟалоит. Ақалақь 14-15 –тәи ашәышықәсақәа раантәи ахсаалақәа рыҟны, иаҳҳәап, абжьарашәышықәсазтәи амшынтә хсаалақәеи, иара убас амшынҿықәқәа рыхҳәаанҵақәа (алоциа ҳәа изышьҭоу) жәпакы рыҟны иарбоуп. Урҭ реиҳарак рҿы иаарҧшуп аҧшшәы змоу усҟантәи ақалақьқәеи аҳәынҭқаррақәеи рбираҟқәа. Убарҭ ақалақьқәа ирылоуп Аҟәагьы. Уи иеиуеиҧшым аамҭакәа раан еиуеиҧшым абираҟқәа ахашәыршәыруан. Аҟәа иахагылаз италиатәи (генуеатәи) абираҟқәа руакы иамаз аҧшшәқәа ҵакык -ҵакык рыман. 1428 шықәсазы Аҟәа еиҭа иахашәыршәыруеит иаарту анапсыргәгыҵа зну абираҟ. Ари абираҟ ар- боуп алаҭин хсаалаҿы, “58 ҳәынҭқарра рбираҟ” ҳәа хьӡысгьы иамоуп. Иара еиқәзыршәазз Жохас де Виллдестес иоуп. 1428 шықәсазы абри аҩызаҵәҟьа абираҟ асахьа ирхиоит Иакуб Бертран.


1439 шықәсазы ицәырҵуеит Габриел де Валсеква иеиқәиршәаз ахсаала, уи аҿы Себастополис еиҭа иахаргылоуп генуеатәи абираҟ. Ари иаҳәоит, генуеаа рымчхара шыҕәҕәахаз атәы, хара имгакәа урҭ рылшарақәа ҧызкуаз аҧсуа ҳәынҭқар имчхара шеиҭашьақәыргылазгьы.


Кавказ рнапаҿы аагаразы ақәҧара мҩаҧысуан мчы змаз ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара – Ҭырқәтәылеи Ирани. Ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны ир- шеит рымчхара аҳра ахьауаз, рнапаҵаҟа иҟалоз аҭыҧқәа. Убас Ҭырқәтәыла анапаҵаҟа иҟалеит Мраҭашәаратәи Кавказ зегьы, Аҧсынгьы убрахь иналаҵаны. Абри инаркны Аҧсны Ҭырқәтәыла иампыҵанархаларц иалагоит (уи аҵыхәанӡа анагара шзалымшазгьы). 1571 шықәсазы Аҟәа ицәырҵуеит амзаҿа зну аҭырқәа бираҟ ҟаҧшь.


1578 шықәсазы Севастополис аҭықәа ир иртәеит. Уи атәы рҳәоит ақалақь аҩныҵҟа адамра хаҳәқәа ирну аҩырақәа. 20-тәи ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы аҧсуа поет, Ҭырқәтәылатәи аҵарауаҩ Омар Беигәа иҧшаауеит Стамбултәи архив Топканы аҟны ажәытә сахҭан хсаалақәа рыхҳәаа – аҭырқәа хсаалаҩҩы Ҳаџьы Абуласан (мамзаргьы Ҳаџьы Ебульхассан) ихсаалақәа. Иара абри ашықәсан 1578 шықәсазы ақалақь иаха- иргылоит амзаҿақәа хҧа рсахьа зну абираҟ еиқәаҵәа. Ақалақь хьӡыс иарҭеит Сухум-кале.

XIX шәышықәса

"Ашьхаруаа рреспублика" абираҟ

Урыстәылатәи аимпериа анхыбгала анаҩс Аҧсны Аҧсны зҽеидызкылаз Кавказ ашьхаруаа жәларқәа Реидгылеи Алада-Мрагыларатәи Аидгылеи иалалеит. 1918 шықәса лаҵара мза 11 рзы Баҭым имҩаҧысыз жәларбжьаратәи аҭынчратә конференциаҿы иаҧҵан “Ашьхаруаа рреспублика”. Даҕьысҭани, Ачечен-Игәуштәи, Ауаҧстәыла, Аҟабарда тәыла, Аҟарач-балкартә тәылақәа реиҧш ари афедерациа иалалеит Аҧсынгьы. Абасала, еиҭашьақәыргылан 1864 шықәсазы ихырбгалаз Аҧсуа ҳәынҭқарра. Ашьацҧшәи ашкәакәеи еиҭныҧсахло инашьҭу быжь-цәаҳәак (ашьацҧшшәы змоу ҧшьба, ашкәакәақәа хҧа) Кавказ ажәларқәа рыхдырраҿы аҧсылманреи (ашьацҧшшәы) ақьырсианреи (ашкәакәа) реи- нырнаалара, реиҿамгылара иадыргоуп. Аҧсны, ижәытәӡоу қьырсиан тәылак аҳасабала егьырҭ аҩ-тәылак (Ауаҧстәылеи Ҟабардеи) надкыла- ны Ашьхаруаа Рреспублика абираҟ аҿы цәаҳәа шкәакәала иарбан. Ашьхаруаа Рреспублика Ҭырқәтәыла иазханаҵеит, уи шықәсык ауп нҵырас иаиуз.

Зураб Шервашиӡе аҳра аниуаз аҧсуаа изныкымкәа аҭырқәцәа Аҟәа иалырцарц иалагахьан, аха аҵыхәтәан, урҭ ара еиҭа аҽышьақәырҕәҕәара рылшеит. Аҭырқәцәа Зураб днықәганы 18 –тәи ашәышықәсазы 80-тәи ашықәсқәа раан амчраҿы инеиз Қьелешьбеи Чачба иаҳра азхарҵеит. Қәҿиарала имҩаҧигаз аибашьра ашьҭахь аҭырқәа ир ржәыларақәа аанкыланы, Қьелешьбеи Аҧсны аҳәаақәа еиҭашьақәиргылеит. Уи ицирхыраауан бџьарла, аҳәала, кьарахәла ибзианы иеибыҭаз абжьаратә аамсҭцәеи анхацәа “цқьақәеи”. Еснагь аибашьра иазыҟаҵаз ар рхыҧхьаӡара наӡон 500-ҩык рҟынӡа. Аибашьразы ашәарҭа аныҟаз Қьелешьбеи аамҭа кьаҿк ала илшон бџьарла еиқәных 25 нызықьҩык ар рыргылара. Уи иман артиллериеи, аҽуааи, иҕәҕәаз амшын ари (аӡсҭар). 600- ҩык рыҟнынӡа аҳәынҭқар ишхәар (галер) иааҧмырҟьаӡакәа Баҭым инаркны Анаҧанӡа Амшынеиқәа аҧшаҳәа рыхьчон, насгьы Ҧуҭи Баҭыми рбаашқәа хылаҧшҩыс иахагылаз иара иашьеиҧацәа, Чачаа ракәын. Қьелешьбеи ихаан, иара иҧеиҳаб Асланбеи ианиасакьаҳәамҭаз Аҧсни Аҟәеи ирхагылан абри абираҟ. Аҧсны Османтәи Ҭырқәтәылеи Аурыс ҳәынҭқари рполитикатә интересқәа ирыҵаркит. Иалагеит аурыс-аҭырқәа еибашьра, аурыс-кавказтә еибашьра, уи иахҟьаны ажәлар арыцҳара инҭагылеит. Иҟалеит амҳаџьырра. Кавказтәи аибашьра анеилга ашьҭахь мызкы анааҵ, 1864 шықәса рашәарамзазы аҳра зуаз аурыс имчра Аҧсуа аҳра хнарбгалан, иқәнаргылеит “аамҭалатәи жәлар-русбарҭа”. Абри инаркны Аҧсны Урыстәылатәи аимпериа Аҟәатәи арратә ҟәша ҳәа ахьыӡ ҧсахын.


1866 шықәса ҧхынгәы 26 рзы Лыхны ақыҭа имҩаҧысуаз быжь-нызықьҩык злахәыз жәлар реизараҿы аҧсуа жәлар ықәгылеит аурыс иколониалтә политика иаҿагыланы. Уи иамҽханакит Калдахәара ақыҭа инаркны Ҵабал, Дал, Аҟәа. 20 нызықьҩык рҟынӡа абџьар кны игылт. Ахыҵхырҭақәа рыҟны ишарбо ала, ажәлар реизараҿы ицәырган абираҟқәа. Убас, Аҟәа Баалоу ашьхаҿы абџьар шьҭыхны иқәгылаз рахь иааргеит “аамысҭа” бираҟқәеи “анхацәа” рбираҟқәеи ҳәа изышьҭаз. Анхацәа рбираҟ икын Гәмаа ақыҭантәи Џьыгра Аҩӡба. Изларҳәо ала, ари абираҟ ҟаҧшьын, аҳәа асахьа қәҵаны ианын.

XIX шәышықәса

1921 шықәса хәажәкыра мза анҵәамҭазы Никәала Ақырҭаа напхгара зиҭоз аҧсуа отриад 9-тәи Ар Ҟаҧшьаа рыцхыраара- ла абџьар шьҭыхны Ҧсоу ахықәан Қырҭтәыла аменшевиктә еиҳабыра рыр иаҿагылеит. Аҧхьа игылан “Кьаразаа”... Хәажәкыра 4 рзы Аҟәа ахы иақәиҭтәын. Анаҩс Очамчыреи Гали – Аҧсны ахьынӡанаӡааӡо Асовет мчра шьақәыргылан. Баҭым имҩаҧысит Кавказбиуро Ацентртә Комитет аҭакзыҧхықәу аусзуҩцәа злахәыз аизара – аилацәажәара. Ара Аҧсны аиҳабыра “ихьыҧшым ареспублика” Аҧснытәи ССР аҧҵаразы иҟарҵаз ажәалагала рыдыркылеит. Хәажәкыра 31 рзы Аҧсны Аревком Ленини егьырҭ асоветтә республикақәа зеги адырра рырҭеит Аҧсны советтә республиканы ишрылаҳәаз атәы. 1922 шықәса жәабран мзазы имҩаҧысит Аҧсны Асоветқәа I Реизара ду. Ара ишьақәырҕәҕәан Қырҭтәылеи Аҧсни рыбжьара “ҷыдалатәи аидгыларатә еиқәшаҳаҭра”. Қырҭәыла Аҧсны иақәыҕәҕәо ишалагазгьы ари аиқәшаҳаҭраҿы аҩ- республикак рзинеиҟарара арбахеит. 1922 шықәса ҧхынҷкәын мзазы Аҧснытәи ССР ахаҭарнак инапы аниҵеит ССР Аидгыла ашьақәгыларазы Аиқәшаҳаҭра. 1924-25 шықәсазы ишьақәырҕәҕәан Аҧснытәи ССР Агерби Афлаги.

Асоветтәи период

1931 шықәса жәабран мзазы Сталини Бериеи, Орџьоникиӡеи уҳәа “ирыбзоураны” Аҧсны Асоветтә Қырҭтәыла иалаҵан автономиак аҳасабала. Ари аҧсуа ҳәынҭқарра анаҧыххаз аамҭазоуп, абызшәа ахархәара азин ыҟамызт, активла аҧсуа жәлар ассимилиациа рзура апроцесс мҩаҧысуан (Аҧсныҟа Қырҭтәыла еиуеиҧшым арегионқәа рыҟнытә ақырҭқәа ааганы Аҧсны индырхон), иҧсахын атопонимика.., аҧсуа жәлар даҽа џьарантә иааз жәларуп ҳәа рылаҳәаны рыҧсадгьыл аҿы изинданы иҟаҵан. Аҧснытәи аобкоми Қырҭтәыла ацентртә комитети рхыбрақәа рҿы Аҧсны икнаҳан амаганеи ажьаҳәеи, “ижәҩанҧшшәу ацәаҳәа зылдаз амра” асахьеи зныз абираҟ ҟаҧшь. Ашьҭахь урҭ рыҵаҟа “Аҧсны АССР” ҳәа ианҵан.

ХХ –тәи ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭази 90- тәи ашықәсқәа рылагамҭази Аҧсны амилаҭтә – хақәиҭратә ҵысра аан иазгәаҭоуп (Аҧсны аҳәынҭқарратә статус архынҳәра иасимволхаз) анапы асахьа зну абираҟ ҟаҧшь еиҭа ашьақәгылара. 1922 шықәса ҧхынгәы 23 рзы Аҧсны Иреиҳаӡоу асовет иаднакылеит асимволика ҿыци Аҧсны Ареспублика ҳәа ахьыӡи. Абираҟ авторс дамоуп Валера Гамгиа. Абираҟ : аурыла ианҵоуп ҭбаарыла еиҟароу ашьацҧшшәи аҧшшәы шкәакәеи змоу, еиҭныҧсахло быжь-цәаҳәак. Урҭ рахьтә 4 шьацҧшшәуп, 3 шкәакәоуп. Ахәы инадкыланы арымарахьтәи акәакь аҿы хыхьла иануп иҟаҧшьыхәхәароу акьакьҭаиаша, зышәагаа абираҟ аура иадкыланы 0,38 иаҟароу, аҭбаара ах-цәаҳәак еидкыланы иаҟароу. Иҟаҧшьыхәхәароу акьакьҭаиаша агәҭаны аҩадаҟа ахы рханы иануп арҕьа напы иатәу иаарту анапсаргәыҵа шкәакәаны. Анапсаргәыҵа ахыхь иаакәыршаны хә-кәақьҭак змоу быжь-иаҵәа шкәакәак ануп. Зыҵа ҟаҧшьу иаарту анапсаргәыҵа шкәакәа – Аҧсны Аҳәынҭқарра иасимволуп. Иара Аҧсуа ҳәынҭқарра (8-10 –тәи ашәышықәсақәа) ахаан ишьақәгылеит. 12 шәышықәса аҵанакуеит. Ари аҩыза абираҟ асахьа ануп генуеатәи амшын хсаалақәа рҿы 13-тәи 14 –тәиашәышықәсақәа рзы. Анапсаргәыҵа шкәакәа зну иҟаҧшьыхәхәароу абираҟ абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Аҧсны иахьатәи аҳҭнықалақь Аҟәа аҭыҧаҿы ишьҭаз ақалақь Себастополис иахашәыршәыруан. Анапсаргәыҵа ахыхь иаакәыршаны ианҵоу хә-кәақьҭак змоу аеҵәақәа быжьба – Аҧсны ихада- роу аҳаблақәа быжьба ирдыргоуп: Саӡен (Џьигеҭиа), Бзыҧ, Гәмаа, Абжьуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ҧсҳәы-Аибҕа. Убри аан абираҟ ашәагааи, аеҵәақәа рхыҧхьаӡареи, ашьацҧшшәи аҧшшәы шкәакәеи змоу ацәаҳәақәа реиҭныҧсахлара уҳәа Нхыҵ Кавказтәи Ареспублика (Ашьхаруаа Рреспублика ҳәа изышьҭоу) аҭоурыхтә бираҟ аҷыдарақәа угәаладыршәоит.

Иахьатәи аамҭа

Иеиуеиҧшым аамҭақәа раан атәым қәылаҩцәа изныкымкәа Аҧсны дара рбираҟ ахаргылара шрылшозгьы, аҧсуаа ашәышықәсақәа иргәылганы еиқәырханы иааргон рхатә символқәа... Аҳәынҭқарреи уи адыргақәеи, иаҳҳәап, аҳәынҭқарратә бираҟ, цәырҵуеит ажәлар рмилаҭтә хдырра аҩаӡара акырӡа ианышьҭыҵлак, иара убас ажәлар акны аҽеидкылара ан- рылша, аҭоурыхтә ҧеиҧш агәра рго ианыҟала. Аҧсуа жәлар абарҭ аетапқәа зегьы ирхысит, уажәы иааиз аамҭа ҿыц ашә инылагылеит, ауаатәҩса рҭоурых иагәылганы иаанагоз амҩа ҧхьаҟа иацҵо Ҳара ҳбираҟқәа –хьӡи-ҧшеи змоу ҳабацәеи ҳабдуцәеи ҳареи аимадара ҳабжьазҵо иҧшьоу дыргақәоуп. Аҧсуа бираҟқәа зықьҩыла ҳабиҧарақәа ршьеи рыҧхӡашеи рхьыршоуп! Зқьышықәсала аҧсуа анацәа рыхшара ирықәныҳәаны идәықәырҵон, аҕа иҿагыланы ақәҧараҿы хьӡи-ҧшеи рыманы Аиааира ргаразы. Урҭ ҭахон ҧхьаҟатәи аҧсҭазааразы, иахьатәи амш азы – Аҧсуа баагәара Ду амҵан, Трахеи Ҵабали рымҵан византиаа ианрабашьуаз, Анаҟәаҧиа ашьапаҿы арабцәа ианрабашьу- аз, Аҟәа абаа азааигәара аҭырқәцәа ианрабашьуаз, Афон Ҿыци, Драндатәи аныхабааи рымҵан ақырҭуа қәылаҩцәа ианырҿагылаз, актәи аҩбатәи адунеитә еибашьраҿы Европа еиуеиҧшым атәылақәа рыҟны, мраҭашәаратәи мрагыларатәи аганқәа рҿы 1992-1993 шықәсқәа раан... Имариам, урҭ ҳҭоурых ду иагәылоу ахҭысқәа зегьы реиқәыҧхьаӡара, Аҧсуа еибашьҩы иҧсҭазаара ахҭынҵаны иахьатәи амш ахьиихьчаз. Леони, Қьелешьбеии, Нестори, Владислави рыр ирылҵыз, аамҭақәа, азқьышықәсақәа зегьы Реибашьҩы. Хашҭра рықәым ҳаҧсадгьыл ахақәиҭра зхы ақәызҵаз Аҧсны аҵеицәа!


Ауаатәҩса рҭоурых иақәлоуп ҳажәлар знысыз амҩа. Имариам, ҳажәлар зну амҩа, иахьагьы ҧсахра ақәӡамкәа иаарту анапсаргәыҵа асимвол имҩақәҵаганы изку. Иахьа – насыҧ зцыз ари адырга аҭоурых аҿы аиаша ашьақәгылара иасимволхеит. Абасала, азқьышықәсақәа рнаҩсгьы анапы асимвол ҳажәлар еиқәырханы иаанагоит. Уи ҳаҧхьаҟа аиааира ҿыцқәа рахь ирыҧхьоит!

Абара