Перейти к содержанию

Аҟәсба, Шамил Раџьи-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Шамил Раџьи-иԥа Аҟәсба
Шамиль Раджеевич Акусба

Шамил Раџьи-иԥа Аҟәсба
Аира нанҳәамза 201914 ш.
Аҟәатәи аокруг (Аԥсны) Кәыдрытәи аучастка
Аԥсра нанҳәамза1992 ш.
иахьатәи Очамчыра араион Аҭара ақыҭа
Аусура ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ
Атәылауаҩра Асовет Еидгыла

Шамил Раџь-иԥа Аҟәсба (аур. Шамиль Раджеевич Акусба; нанҳәамза 201914 ш., Аҟәатәи аокруг (Аԥсны) Кәыдрытәи аучастка – иахьатәи Очамчыра араион Аҭара ақыҭа - 08.1992) – ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ.. СССР-и Аԥсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1041-1945) далахәын. Ианашьан «Аџьар Ҟаԥшь» аорден, Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден актәи аҩбатәи аҩаӡарақәа, амедалқәа. Дыҩуан аԥсышәала.

Ашкол даналга, аҵара иҵон Зегьеидгылоутәи ақыҭанхамҩатә институт аҿы, аха дук мырҵыкәа усҟантәи Асовет еидгыла акоммунисттә ҿар иҟарҵаз ааԥхьарала, Одесса дцаны арратә ԥрыҩцәа рҵараиурҭа дҭалоит. Иҵара анхиркәша ашьҭахь, днаԥхьан Азиабжьаратәи арратә округ ахь. Аха араҟагь даанымгылаӡеит – Зегьеидгылоутәи арратә-авиациатә академиаҿы акурсқәа дырхыжьны, дрышьҭуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ахь, Аԥсадгьыл ахьчаразы. Аибашьраҿ ихы имырԥхашьеит – иҟәыӷара, игәымшәара, ифырхаҵара ҿырԥшыган напхгара зиҭоз аԥырҩцәа-еибашьцәа ргәыԥ еиднакылоз зегьы рзы. Хаҭала 415-нтә дышьҭыԥрааит, абомбақәа рықәижьуан асовет дгьылҵакыра аанкылан измаз ҳаӷацәа, урҭ ирымаз аиҿкаарақәа. Аибашьраан иааирԥшыз агәымшәаразы, ахымшаҭаразы, иҩызцәа дук мырҵыкәа «Аиха иалху аԥсуа» ҳәа ахьӡ ҷыда ирҭеит.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа анеилга, Аԥсныҟа даныхынҳә ашьҭахь, аусура далагеит Аҟәатәи аҳаиртә баӷәазаҿы. Уи имаз аԥырратә ԥышәа, аиҿкааратә баҩхатәра абаӷәаза аусзуҩцәа зегьы рзы иҿырԥшыган, пату иқәырҵон, рҵаҩык иаҳасабала ихәаԥшуан. Аха дышқәыԥшшыз аԥсуа сахьаркыратә литературахь изцәырҵыз абзиабара, ицәа иалаз абаҩхатәра – ҭынч ддыртәаӡомызт, иҭахын исахьарку ажәала ихигаз аԥхьаҩ изеиҭеиҳәара, даҽазныкгьы уи агәра ииргарц ҳажәлар ирхыргаз аибашьра арыцҳара дуӡӡақәа шацыз. Арҭ зегь рызхәыцра, ажәабжьқәеи ановеллақәеи рҳәаақәа рҭагӡара, бызшәа беиала раарԥшра ашәҟәыҩҩы днарԥхьеит ажурналқәеи агазеҭқәеи рахь.

Аусура далагеит ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредакторс, нас ихьӡ рҳәеит аредактор хадас. Абарҭ аамҭақәа инадыркны иара ирҿиаратә усура еиҳа амҽхак ҭбаахеит, - иажәабжьқәа рнылеит ажурнал «Алашара», Москва иҭыҵуаз ар ргазеҭ «Советскии воин», ажурнал «Наука и религия» уҳәа егьырҭгьы. Аԥсны хаз шәҟәны иҭыҵит «Арбаӷь ссир», «Иҭабуп, санду» зыхьӡу ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәа реизгақәа. Ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа иаарылҳәҳәоит иара дызнысыз амҩа хьанҭа атәы исахьарку ажәала аԥхьаҩ изеиҭазҳәо, аибашьраҿ, аԥсреи абзареи рхықәаҿ дангылаз иара иҭагылазаашьа, аԥсадгьыл ахь имаз абзиабара ҳәаа шамамыз ҳзырбо иажәабжьқәа рышәҟәы «Ашьҭыԥраара».

Арҿиаҩы ибызшәа цқьан, имарианы инеиуан аԥхьаҩ игәаҿы. Убри азын ауп аԥсуа ԥхьаҩцәа бзиа ибаны изрыдыркылаз аԥсшәахь еиҭеигаз аурыс хәыҷтәы шәҟәыҩҩы А.Гаидар иповестқәа «Ҭемыри уи икомандеи», «Адаул асҩы илахьынҵа», Ҳ. Андерсен, В. Катаев, Н. Думбаӡе уҳәа рҩымҭақәагьы. Иаҵаз ахшыҩҵаки аиумори ирыгымхаӡеит аԥсшәахь еиҭеигаз Ф.Искандер иповест «Анапыхьараџь».

  • Аԥсышәала: Ашьҭыԥраара. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1958.
  • Нарҭаа рымца. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1973.
  • Аҵх лахҿых. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1984.
  • Ацҳа. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1987.
  • Ажәылара аламҭалаз. Аҟәа, 1991.
  • аурысшәахь аиҭага: Аҵх лахҿых. Ажәабжьқәа. Аҟәа, 1973.