Перейти к содержанию

Ақаҩба, Мҭы Осман-иԥа

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Мҭы Осман-иԥа Ақаҩба
Мты (Муты) Османович Кове

Мҭы Осман-иԥа Ақаҩба
Аира хәажәкырамза 14, 1909 ш.
Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Гәдоуҭатәи аучастка (иахьатәи Гәдоуҭа араион)
Аԥсра инықәырԥшны 1938
Аусура аԥсуа шәҟәыҩҩы-адраматург, арежиссиор, актиор, акәашаҩ

Мҭы Осман-иԥа Ақаҩба (аур. Мты (Муты) Османович Кове; хәажәкырамза 14, 1909 ш., Аԥсны, Аҟәатәи аокруг Гәдоуҭатәи аучастка (иахьатәи Гәдоуҭа араион) – инықәырԥшны 1938) – аԥсуа шәҟәыҩҩы-адраматург, арежиссиор, актиор, акәашаҩ. Аԥсни Қырҭтәылеи жәлар рартист.

Ақыҭа школ даналга аҵара изацымҵеит, аҩны дыҟан, иҭаацәа дрыцхраауан анхамҩа аус аҟны. Ашьҭахь аҵара иҵон Гәдоуҭатәи жәашықәсатәи ашкол аҟны, адраматә кружокгьы далахәын.

1929 ш. апрель азы Аҟәантә дызҭаз ашкол иаҭааит хҩык рыла ишьақәгылаз акомиссиа: Аҟәатәи аԥсуа школ адиректор К. Ӡиӡариа, аҟәатәи адраматә студиа арежиссиор В. И. Домогаров, иара убас арҵаҩы В. Маан. Акомиссиа иалаз аԥышәара иахрыжьит адраматә кружок иалахәыз жәохәҩык. Урҭ рахьтә Аҟәатәи адраматә студиа ашҟа ирыдыркылеит хәҩык, «насыԥ змаз» дрылан М. Ақаҩба, насгьы амилаҭтә театртә ҟазара иналукааша аусзуҩцәа А. Агрба, Шә. Ԥачалиа, Р. Агрба, В. Аргәын .

М. Ақаҩба астудиаҿы иҵара анхиркәша аусура далагоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Уи нахыс, 1936 ш. инаркны аҵара иҵон Қарҭтәи атеатртә институт аҟны. Рҵаҩцәас иман еицырдыруа актиорцәа, СССР жәлар рартистцәа А. Хорава, Џь. Алексиӡе, А. Васаӡе. Усҟан аинстиут иҭан иара убас М. Зыхәба, Ҳ. Қапба, Ҷ. Џьонуа уҳәа егьырҭгьы.

Жәлар рыкәашареи рашәақәеи дрызҿлымҳахеит дышқәыԥшыз. Дышнеи-шнеиуаз дхореографхеит, П. Ԥанцулаиа напхгара зиҭоз Аԥснытәи аетнографиатә ансамбль акәашаҩцәа нагақәа дреиуан. Араҟа ахкы нагӡаҩцәас иҟан еицырдыруа акәашаҩцәа Г. Агрба, Џь. Хьециа, Ф. Ачба, А. Гәыблиа, Ш. Аҩардан, К. Лазба, А. Чычба, Д. Царгәыш уҳәа егьырҭгьы. М. Ақаҩба ихьӡ иадҳәалоуп «Шьараҭын» назлоу акәашарақәа ансамбль апрограмма алаҵара.

М. Ақаҩба ибаҩхатәра акәашарақәа рҟны мацара акәым иахьааԥшуаз. Аҟәатәи адраматә студиа даналга, арежиссиор В. И. Домогаров идигалеит адраматә ҩымҭақәа ҩба: «Кьахьба Ҳаџьараҭ», «Инаԥҳа Кьагәа». Иҩын жәлар рашәақәеи ражәабжьқәеи шьаҭас иаҭаны. Нас ихаҭагьы ароль хадақәа (Ҳаџьараҭи Кьагәеи) наигӡеит арҭ аспектакльқәа рҟны. Аҩымҭақәа хазы иҭыжьын Аҟәа.

М.Ақаҩба авторс дамоуп иара убас аетиуд «Шәхынҳәы» (иҩуп С. И. Ҷанба иҭоурыхтә драма «Амҳаџьыр» аҵыхәтәантәи ахәҭа шьаҭас иаҭаны), апиесақәа «Аӡахәа ашәа», «Мҩамш, аԥҳәызба», актк злоу аскетч «Ҳабахә ила».

Аԥсуа драматә театр аҟны М. Ақаҩба дыхәмарит арольқәа: акомандор (Лопе де Вега, «Ауаса рӡыхь»), Ҳаџьы Мураҭ (И. Вакели, «Шамиль»), Рылеев (Н. Лернер, «Адекабристцәа»), Лиапкин-Триапкин (Н. В. Гоголь, «Аревизор»), аокруг аиҳабы (С. И. Ҷанба, «Кьараз») уҳәа.

1938 ш. алагамҭаз Қарҭ М. Ақаҩба дырбаандаҩын, уи нахыс аӡәгьы ихабар имбеит. Заа дыршьхьан иашьа Шьрыф. М. Ақаҩба ашьауӷа иқәҵан 1938 ш. март 14 рзы, ахәҭаҷ 58, 10-58, 11 инақәыршәаны. Апартиеи аиҳабыреи (ахәҭакахьала Л. Бериа) дырҿагыланы дықәгылеит ҳәа ахьӡҵаны ахара идҵан. Дандырбаандаҩуаз аламҭала адраматург иҩуан акомедиа «Аҵыхәтәантәи ачара», аригьы афольклортә материалқәа ахархәарала.

  • аԥсышәала: Кьахьба Ҳаџьараҭ. 3-хәҭаки хә-сахьаки змоу адрама . Аҟәа, 1933.
  • Инаԥҳа Кьагәа. 5-хәҭаки 9-сахьаки змоу адрама. Аҟәа, 1936.
  • Апиесақәа. Аҟәа, 1958.
  • Икыдлаз аеҵәа. (Апиесақәа. Ихаҭа изку астатиақәеи агәалашәарақәеи). Аҟәа, 2002.