Ашәҵатәы
| ||||||
Ашәҵатәы ауаҩы ишәиҵо аалыҵ ма аалыҵқәа реизакыра, аутилитартәи аестетикатәи функциақәа змоу.[1] Ацәеижь ҳакәша-мыкәша иҟоу анырра бааԥсқәа рҟынтә иахьчоит. Уи аестетикатә функциақәа нанагӡоит, ауаҩы ихаҿсахьа аԥҵараҿы ахархәара аиуеит, иара убасгьы асоциалтә статус аарԥшразы ицхыраагӡоуп. Ашәҵатәқәа аба иалырхуеит, аласа иалхны ирԥоит, асахҭан, ахәбыбцәа уҳәа егьырҭ амаҭәахәқәа рылагьы иҟарҵоит; уи арԥшӡагақәеи аксессуарқәеи рыла иҩычазар ҟалоит
Ахьӡ аетимологиа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ҳаамҭазтәи аурыс ажәа «ашәҵатәы» ауахәаматә славиан бызшәа аҟынтәи иаагоуп, насгьы уи ацәеижь хызҩо амаҭәарқәа реизга аанагоит. Ари апро-славиан ажәа Одеџьа аҟынтәи аҿиара аиуит (ажәытә славиан бызшәаҿы dj џьи ҳәа иҟалеит, Мрагыларатәи аславиан бызшәа иаҿырԥшны иаҳҳәозар, уа dj ж алҵит: аурыс маҭәа, аукраинатә маҭәа). Апротославиантә одеџьа < обдеџьа шьақәгылоуп аԥхьарба об-, иара убас асуффикс -j-a рхархәарала ашьагәыҭ ded- аҟынтә, уи иаанарԥшуеит инагӡам ашьагәыҭ dě- (de-d-) аҟаҵарба děti >аурыс деть.[2][3]
Ихадоу аилкаарақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Астиль ҳәа изышьҭоу амаҭәақәа, аҽырԥшӡагақәақәа, аксессуарқәа реишьашәалара ауп, аҭагылазаашьа инақәыршәаны (аныҳәатә усмҩаԥгатә), аҭагылазаашьа (аусуратә ҭагылазаашьа) асоциалтә статус ианаало. Инарҭбааны иуҳәозар, уи аҟазараҿы иалкаау аамҭак азы иаарԥшу аҿыханҵа аидеиатәи асахьаркыратәи акзаара ауп.
Традициала, акостиум аҭоурых аҿы (иара убас аҟазара аҭоурых аҿы) иалкаауп абарҭ астильқәа: аготика, аиҭарҿиара, абарокко, аклассицизм, арококо, анеоклассицизм, ампир, аромантизм.[4]
- Амода — ауааԥсыра ирласны ирылаҵәо, насгьы аамҭа кьаҿк иалагӡаны аԥыжәара зго амаҭәа хкқәа роуп (урҭ рматериалқәагьы), иара рхәыцит «аамҭа иацныҟәо ауаҩы» ихаҿсахьа аԥҵаразы. Амода атрендқәа амассатә информациа ахархәагақәа ишьақәдыргылоит, амаҭәа ҭзыжьуеи ахархәаҩцәеи аколекциақәа анаԥыԥҵо урҭ ирыцклаԥшуеит.
- Иҳараку амода захьӡу, ираԥхьагылоу амода Аҩнқәа иааиуа асезон азы амаҭәа аӡахышьа ахырхарҭақәа анышьақәдыргыло ауп(амаҭәарқәа, рыҟаҵашьа) иара убас акссесуарқәа. Амода Аҩнқәа раалыҵқәа ҭрыжьуеит имаҷ-маҷны, насгьы урҭ зызку аԥыжәара змоу ауаажәларра рхаҭарнакцәа роуп; амода Амчыбжьқәа ҳәа изышьҭоу аусмҩаԥгатәқәа рҿы иӡырыргоит.
- Аамҭахәҭақәа аан амаҭәа ҭзыжьуа рколекциақәа рыԥсахуеит. Еиҳарак урҭ ҩба ыҟоуп — ҭагалан-аӡын, ааԥын-аԥхын.
- Аколлекциа — концепциак аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиԥшым аӡахышьақәеи арԥшӡагақәеи змоу амаҭәақәа рмоделқәа рсериа ауп.
- Асилует — ацәеижь инақәшәо иӡаху амаҭәа ауп. Иҟоуп ауаҩы ицәа иаду асилует, иаҳа иҭбаау, иара убас атрапециатә, аԥшь-кәакьтә силуетқәа.
- Амаҭәа амодель -ашәҵатәы рацәаны ианыҭрыжьуа атермин; еталонҵас иҟоуп еиԥшу амаҭәа аӡахраҿы.
- Амаҭәа ахаҭабзиара -зхархәареи зааглыхреи ҳараку, иара ззырхо изыманшәало, ихәо аалыҵ ауп.
Амаҭәеи амодеи ртеориа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Амода атеориа
Ашәҵатәы аҭҵаара иадҳәалоу атеориатә системақәа амода атеориа хаҭалатәи ҭагылазаашьаны иуԥхьаӡар алшоит. Амода атеориа аналитикатә дисциплиноуп, амаҭәа аформақәа рыҭҵаара иадҳәалоуп, иара убас уи аҵакгьы. Амода атеориа еиуеиԥшым ахырхырҭақәа ирыдҳәалоуп: асоциалтә аспектқәеи аидеологиатә практикақәеи рыҭҵаара, аекономикатә шьаҭақәеи амаркетингтә стратегиақәеи, амода аелементқәа рсахьаркыратэ ҷыдарақәеи аксиологиатә принципқәеи рыҭҵаара. Амода атеориа — ари ҭҵааратә усхк дууп, иара азкуп аматериалтә культура аобиектқәа (акостиум, аҩнымаҭәа, аксессуарқәа, аҩнтәи амаҭәарқәа) рыҭҵаара, иара убас асистематә ҵакдура аидеологиатә концепциақәа. Амода атеориа аусхк аҿы, иҟоуп ихадоу ахырхарҭақәа, урҭ рҟынтә ихадоуп асоциалтә теориақәа, ахархәаратә доктрина, ацәеижь аконцепциа, абзызшәа апроблема.[5][6][7][8][9][10]
Амаҭәа аҭоурых
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Амаҭәа аҭоурых
Homo sapiens аҽеилаҳәара далагеит 83-170 нызқь шықәса раԥхьа.[11]
Ауаҩы имаҭәаҿы инхо ацәеижь аҵа агенетикатә анализ иаанарԥшуеит уи 170 000 шықәса раԥхьа ахаҟны иҟаз аҵа ишаҟәыҭхахаз. Ари ишьақәнарӷәӷәоит убри аамҭазы ауаа амаҭәа рышәҵара иалагеит ҳәа иҟоу атеориа.[12]
Ауаҩытәыҩса иԥсабаратә нхарҭа ҭыԥны иҟоу Африка амаҭәа цәырҵит Евразиа аасҭа акырӡа ихьшәаны, избанзар уаҟа ацәеижь ахьҭа иацәыхьчатәын. Убас, зегь реиҳа ижәытәӡатәиу амыругақәеи амаҭәақәа рцәынхақәеи анеандерталеццәа рҭыԥқәа рҿы иԥшаан, насгьы уи аамҭазы Африка инхоз асапиенсқәа рҿы иԥшааз амаҭәақәа релементқәа роуп (амаҟа, ашаха), урҭ еиҳарак арԥшӡагақәа иреиԥшын, насгьы хықәкык рымамзар ҟаларын.[13]
Ашәҵатәы аҭоурых ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны иахьанӡа ауаатәыҩса рҭоурых зегьы зныԥшуа асаркьа иаҩызоуп. Иарбан тәылазаалак, иарбан жәларызаалак рыҿиара еиуеиԥшым аамҭақәа рзы, ауаа рымаҭәаҿы рышьҭақәа, рҷыдарақәа нрыжьуеит. Амода аҭоурых акостиум аҭоурых еиԥш ижәытәӡатәуп.
Апримитивтә уаажәларра
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ажәытәӡатәи аамҭақәа раахыс ауаҩы ицәеижь ҟьантаз хиҩарц дашьҭан, уи аԥсыцқьареи аԥхашьареи ирылҵшәан. Аха, ас еиԥш азхәыцра ԥкуп ҳәа уҳәар алшоит, избан акәзар иҟоуп амаҭәа ныҟәзымгоз иагьныҟәзымго еицырдыруа ажәларқәа (иаҳҳәап, Австралиа ашьагәыҭуаа, уҳәа убас иҵегьы). Иҟалап, амаҭәа аҽыхҩара мацара акәымкәа, адәахьтәи ашәарҭара аҽацәыхьчара иасимволны иҟазҭгьы, иҟаҵәҟьаз ашәарҭареи, мамзаргьы еиҳаракгьы ихыҭҳәаази. Аамҭак азы амулетгьы «маҭәоуп» ҳәа иԥхьаӡан, избанзар уи ихтыз, иуашәшәыроу ауаҩы ицәеижьи адәахьтәи адунеии рыбжьара ԥынгылас иҟан.
Археологиатә ҭҵаарақәа ишаадырԥшуа ала, амаҭәа ауаатәыҩсатә еилазаара аҿиара раԥхьатәи аамҭақәа рзы ицәырҵит. Ажәытәӡа амаҭәақәа рзы зегь раԥхьаӡа иргыланы ахархәара змаз аԥстәқәа рцәақәа ракәын. Урҭ аус рыдуларазы иаҭахыз амыругақәа (ацәҟьагақәа, аҳәызбақәа, акылҵәагқәа, уҳәа убас иҵегьы) рыԥшааит Мустие аепоха иаҵанакуа ажәытәӡатәи ауаа рҭыԥқәа рҿы (100-40 нызқь шықәса раԥхьа) Иҟалап раԥхьаӡатәи амаҭәа хкқәа ауаҭәа иакәдыршақәози аплашьқәеи ракәызҭгьы. Анаҩс, ишьапқәа амаӷқәа ирцәихьчарц азы ҩ-цәак имаҟа иадҿаҳәаланы, ахаҵа ашьапымаҭәақәа ҟаиҵеит; нас инапқәа еиуеиԥшым аахақәа ирцәихьчарц азы амышьхәылҵхаҵақәа ҟаиҵеит. Аҵыхәтәаны, амаҭәа ахәҭақәа зегьы еидырҵеит, адацқәа ма аҵиаақәа рцыхәқәа рыла еидҿаҳәаланы.
Археологиатә дыррақәа рыла, иӡаху амаҭәақәа хыхьтәи апалеолит аамҭазы иҟалеит. Убас, 1964 ашықәс азы О. Н. Бадер иекспедициа Сунгиртәи аҭыԥ аҿы (Владимир азааигәара) 23 нызқь шықәса раԥхьа зыԥсҭазаара иалҵыз зықәрахь инеихьаз ахаҵа иԥсыжырҭа рыԥшааит. Археологцәа ирылшеит иара имаҭәа аиҭашьақәыргылара: аплашь кьаҿ, змаӷрақәа ауз ацәа ма азамша иалхыз ахамы, уи аԥхьа аартымызт,иршәырҵон рхы иҭарԥаны (арҭ реиԥш иҟоу ахамы - малица, ма аноракақәа - иахьагьы Арктика ажәларқәа иршәырҵоит), ацәа иалхыз аиқәа ауқәа, аимаақәа амокасинқәа реиԥш иӡахны. Ашәҵатәы зегьы амамонт ац иалху аимхәыцқәа рыла ирԥшӡан, урҭ зегьы рхыԥхьаӡара 3000 иреиҳан.
Анеолит аепоха аан ауаҩы ахахашьа, ақәҵашьа, аԥашьа иҵеит. Уи аамҭазы, иара иман еиуеиԥшым амаҭәа хкқәа, аԥстәқәа рцәақәеи еиуеиԥшым абақәеи рыла иҟаҵаз. Ахархәара змаз амаҭәахәқәеи аҳауатә ҭагылазаашьеи инарықәыршәаны, ауаа амаҭәа рцәеижь иадыркуан еиуеиԥшым ахкқәа рыла: ирхадырԥон, мамзаргьы ацәеижь иакәдыршон. Уи аамҭазы ицәырҵит заԥхьа аатуаз амаҭәа (аԥхьа арҟьарсҭа змаз)
Усҟантәи ауаҩы имаҭәа зеиԥшраз аилкаара аҵарауаа ирыцхрааит аџьаз аамҭазтәи ашәарыцаҩ Етци амумификациа зызуз иԥсыбаҩ 1991 шықәсазы Ецталтәи Альпқәа рҿы (Австриеи Италиеи рҳәааҿы) иахьырыԥшааз. Хыхьтәи имаҭәа аҳаскьынқәа рцәыхәқәа рыла иԥаны иҟаз аплашь акәын (аҭыԥантәи ахьчацәа ус еиԥш иҟоу аплашьқәа ҳара ҳера -XX-тәи ашәышықәсазгьы иршәырҵон). Аплашь аҵаҟа аџьма ацәа иалхыз амаҭәа ишәын —амаӷра змам ишьамхы аҟынӡа инаӡоз акостиум, адашқәа рыла иҭаӡахыз, ашьапымаҭәа ауқәа, ауаҭәа иакәдыршоз. Амаӷра змамыз ашәҵатәы ҭыԥқәак рҿы аҳаскьын кьакьақәа рцәыхәқәа рыла икылӡахын. Еци имаҭәақәа ирыцын ахәы зқәыз ахылԥа ицламхәа аҵаҟа еибазыркуаз амаҟақәа аҭаны, ахәыи азамшеи ирылхыз амагә ҳаракқәа, рыҵаҟа аҭәа ҭаҵаны. Ари аԥшаара аҵак ду аман — археологиа аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны аҵарауаа ирԥыхьашәеит, анеолит аамҭазы инхоз ауаҩы ишәҵатәы зегьы еидкыланы, насгьы есыҽнытәи имаҭәақәа, ахаҳәтә шәышықәса аҵыхәтәантәи аамҭазы ауаа рҭахрақәа, ргәазыҳәарақәа, рҟазшьақәа аадырԥшуан.
Ажәытәтәи Мрагылара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ажәытәтәи Мрагылара — ауаатәыҩса рҭоурых аҿы ижәытәӡоу аҳәынҭқаррақәа зегьы еидызкыло агеографиатә, асоциал-економикатә, акультура-ҭоурыхтә концепциоуп — Ажәытәтәи Мысра, Шумер, Вавилон, Ассириа, Ажәытәтәи Иудеиа, Ажәытәтәи Китаи, Ажәытәтәи Индиа, уҳәа убас иҵегьы. Аԥсабара- ҳауатәи асоциокультуратәи ҭагылазаашьақәа реиԥшымзаара ажәларқәа рестетиткатә идеалқәа, ргьамақәа реиԥшымзаарагьы ҳәаақәырҵон.Убри аҟынтә Ажәытәтәи Мрагылара иныҟәыргоз амаҭәақәа рыӡбахә иааидкыланы аҳәара даара иуадаҩуп.
Ажәытәтәи Месопотамиа асразы рхы иадырхәон еиҳарак ауасақәеи аџьмақәеи рхәы. Ҳара ҳҟынӡа иааӡеит аласа иалху абақәа рыхкқәа ртәы зҳәо жәаба-жэабала атерминқәа, урҭ рхаҭабзиареи рҭеиҭыԥши аазырԥшуа. Абақәа еиуеиԥшым аԥштәқәа рыла иршәуан. Еиҳарак ахә ҳаракны иршьон аҟаԥшьеиқәара ԥштәыла ишәыз абақәа.
Ашумерцәа рыҟны ахацәа ирымаҭәа хаданы иҟан атуникеи ауаҭәа иакэдыршози. Атуника амаӷра змам, мамзаргьы змаӷра кьаҿӡаз ахамы акәын. Ауаҭәа иакәдыршоз ампахьшьы еиԥшын 4 инаркны 9 мышьхәылҵ рҟынӡа инаӡон(2 - 4,5 метра).Еиҳараӡак уи ацәеижь иакәыршаны амаҟала идырӷәӷәон. Хыхьтәи амаҭәа ҳәа рхы иадырхәоз ԥшь-кәакьк змаз аплашь акәын. Иара ргәаҿы иҿаҳәаны иныҟәыргон, ма ирыкәдыршон рарӷьа напы аарԥшны.
Ассириеи Вавилони ахацәа рымаҭәа хаданы иҟан змаӷрақәа кьаҿыз атуника - канди. Ауаҩы шаҟа деицырдыруаз, шаҟа дбеиаз аҟара, иканди еиҳа аура дуун, еиҳа ибеиан иҩычан. Аҳ заҵәык иакәын азин змаз амаҭәақәа рацәаны аамҭаказы аныҟәгара. Аҳцәа раҳаҭыр дыргас иҟан аҟаԥшьеиқәара ԥштәы змаз “конас” — ҷыдала иӡахыз аплашь, ибзиан иқәҵаз, ачыхәи ахәтәы пластинақәеи рыла иҩычаз. Аибашьцәа рымаҭәа, ахамыи аплашьи рыдагьы, иаҵанакуан акостиум аелемент ҿыц - аиқәа.
Аҳәса рымаҭәа ахацәа рымаҭәақәа излареиԥшмыз маҷын. Аҳәса ртуника ахацәа ртәы аасҭа еиҳа иаун, хыхьтәи ахәҭаҿы рцәа иадшәало иӡахын, зны-зынлагьы аганқәа рҿы иԥҟаны иҟан. Идыруп иара убасгьы аиԥка, ҩба-хԥа хәҭа рыла ишьақәгылаз, урҭ зегьы 0,5 метра аҭбаара рыман, хыхьтәи ахәҭа ырҵәины амаҟа еиԥш рхы иадырхәар рылшон. Вавилони Ассириеи аҳәса аҵкы ауқәа ныҟәыргон, иҭшәоу иауу амаӷрақәа рыҭаны.
Ажәытәӡара
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Ажәытәӡатәи Бырзентәыла амаҭәа
Ажәытәтәи Абырзенцәа рҿы амаҭәа ҟаҵаразы еиҳарак рхы иадырхәоз амаҭәахәқәа ракәын ақәны (Мысыртәи аҵкыс еиҳа ихаҭабзиара лаҟәын), насгьы ауасахәы. Ахахареи асреи аҳәса рымацара рус акэын. Иҟарҵоз аба дыршкәакәон ма иршәуан. Аладатәи ауааԥсыра зегь реиԥш, абырзенцәагьы бзиа ирбон аԥшшәы шашақәа (еиуеиԥшым аиаҵәа, аҟаԥшь, апатырқал ԥштәқәа, уҳәа убас иҵегьы). Аиқәаҵәа, ашьацԥшшәы еиқәа, ацәыш агәаҟра иаԥштәқәаны иԥхьаӡан. Ашәҵатәы шкәакәақәа зегь реиҳа иԥшӡоу ракәны иԥхьаӡан, зегь реиҳа зыхә цәгьоу ҳәа иԥхьаӡан аҟаԥшьеиқәа, уи зыхҟьаз ашәыга ԥштәы аиура даара иахьыуадаҩыз акәын. Ашәҵатәқәа қәҵаны иҟан (зны-зынла амаҭәа зегьы, аха еиҳарак аҵкарқәа рыҟны иқәҵан); ақәҵара анаҩсангьы амаҭәақәа ирҭаӡахзар алшон ахьтәы пластинақәа ма ахаҳәссақәа.

Криттәи-Микентәи аамҭазы (ҳаамҭа аԥхьа XVI-тәи XIII-тәи ашәышықәсақәа рзы), ахацәа рымаҭәа ауаҭәа иакәдыршо ала мацара ишьақәгылан, аныҳәатә маҭәа акәзар, ԥштәы рацәала иҟаз аиԥка,акаҭа еиԥшу ашәҵатәы ахарԥаны иҟан. Ашәарыцаҩцәеи аибашьцәеи ацәа иалхыз аиқәа кьаҿқәа ныҟәыргон. Аҳәса ракәзар, рымаҭәа ихадоу ахәҭак акәын аиԥка - иауу, ҵаҟа иаарҭбааны, еиуеиԥшым ашьанӡафқәа рыла еиҟараны еиқәыршәаны (амода аҭоурыхҭҵааҩцәа лассы-лассы урҭ аиԥкақәа “кринолинқәа” ҳәа ирышьҭоуп). Аиԥка иацын акьаҿ, уи агәы аҵаҟа иҿаҳәаны иҟан, амаӷрақәа кьаҿын, иҭшәан, аԥхьа лаҟәӡаны иҭыхын, агәы зегьы аанарԥшуан. Амш хьшәашәақәа раан, рыжәҩахырқәа ачыхә змаз ашьал дуқәеи, ахәдакәыршақәеи рықәдыршәуан. Ашәҵатәы ахәҭақәа ашашәақәа ма аҳәынҵәрақәа рыла еиддырӷәӷәалон. Иахьа уажәраанӡа еилкааӡам ари иуникальтәыз аҳәса рымаҭәа шцәырҵыз, уи аԥхьа иҟаз, анаҩс ахархәара изаҟәыҵыз, насгьы анаҩстәи аамҭақәа рзы абырзенцәа ркостиум аҟны уи зынӡа анырра зыҟанамҵаз.
Заатәи абжьаратәи ашәышықәсақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Абжьаратәи ашәышықәсақәа раԥхьатәи аамҭазы амаҭәа астиль шьаҭас иаман ажәларқәа рмиграциа ду аамҭа европауаа ирзыннажьыз астиль. Урҭ рахь иаҵанакуеит ахэыи асахҭани рыла иҟаҵоу аплашьқәа, асахҭани абаҩқәеи рыла еиқәыршәоу амаҭәақәа, апримитивтә шьапымаҭәақәа, аиқәақәа рзы акәыршақәа. Ак ахыхь ак ршәырҵо атуника кьаҿқәеи ауқәеи, аплашьқәа — ацәақәеи иӡаху амаҭәа аҟәырҷахақәеи ирылху, иԥахны шахала еидҿаҳәалоу, ихырҷо ма ихырҷам. Аиқәақәа: икьаҿу, ашьамхаҟынӡа инеиуа, иауу, ашьаргәацәқәа ирыдҳәалоу, ацәа иалху ақалԥадқәа ма ашьапымаҭәақәа ирҭаҵаны.
Ихьшәо Абжьаратәи ашәышықәсақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Абжьаратәи ашәышықәсақәа раамҭақәа рзы, ауахәама иамаз амчра ауаҩы иԥсҭазаашьа акыр ианырит, ауаажәларра рсоциалтә ҳәаақәа, рестетикатә кредо шьақәнаргылон. Аџьартә ныҟәарақәа (1095-1270) Мрагыларатәи амода Европатәи амода анырра арҭеит. Арыцҳареи ааглыхра апримитивреи ирыбзоурахаз азеиԥштәра ханарҭәаауа иалагеит амҽхак арҭбаара. Арыцарцәа ртурнирқәеи урҭ ирыцыз аекипировкеи — абџьарқәа, аштандартқәа агербқәа, аҽқәыршәқәа — реиуеиԥшымзаареи ирныз асахьақәа рсимметриеи ирыбзоураны “агербтәқәа” ҳәа изышьҭаз акостиумқәа цәырҵит.

АXIV-тәи ашәышықәса агәҭаны Европа «амода» цәырҵит. Ари апериод инаркны, европатәи амода акырӡа аҽаԥсахит, егьырҭ ацивилизациақәеи аамҭақәеи рҟынтәи иҷыдоу аҷыдарақәа аиуит.[14][15]
Аамҭа ҿыц
[аредакциазура | акод аредакциазура]
XIX-тәи ашәышықәсазы, афақьтә машьына аԥҵара иабзоураны (иара убас афымцамч) амануфактуратә технологиақәа аҩаӡара ҿыц аҟынӡа инаӡеит. Ахәҭакахьала, 1790 азы, Жозеф Мари Жаккар иаԥиҵеит ихьӡ захьӡу асыга станок, уи аџьоуҳар ариашара иацхраауан, аба аҭыжьра аус арццакуан. Амашьына иҭнажьуаз амаҭәа ауааԥсыра зегьы аахәара еиҳа ирзымариахеит. Уи аԥхьа аматериал џьаџьақәа рыла иҟаҵаз амаҭәа акәын еиҳарак иҟаз (аматериал бзиақәа ирылхыз амаҭәа аристократцәеи амал змаз ауааи ракәын иныҟәызгоз).

Ари апериод аан, ҳаамҭазтәи ауааԥсыра рхы иадырхәо амаҭәа хкқәа цәырҵуа иалагеит: амаӷра кьаҿқәа змоу, уцәа иадшәало амаҭәа, аԥхынтәиқәа аӡынтәиқәа, еиҳарак еиқәароу абақәа ирылхыз. Асанитартэ- ацқьаратә ҭагылазаашьақәа анеиӷьха, иара убас аекономикатә ҭагылазаашьақәагьы, Европеи Аҩадатәи Америкеи руааԥсыра раӷьырак ҵаҟатәи ацәамаҭәақәа рышәҵара иалагеит.
XIX-тәи ашәышықәса аҟынӡа, иӡахны иҟоу амаҭәақәа раахәара залшомызт— урҭ аахәаҩцәа рхала ирӡахуан, ма аӡахҩы иҟны иҿарҵон; ҿырԥштәыс иаагозар, Александр Гамильтон 1791 азы иҟаиҵаз «Аалыҵқәа рзы ажәахә» аҿы иазгәаиҭон, Америка инхо ауааԥсыра рымаҭәақәа рахьтә аԥшьбатәи аҟынтә ахәбатәи ахәҭа рхала ирӡахуеит ҳәа. Абеиацәа ракәын аӡахҩы иҿы амаҭәа ҿазҵоз.
Ихиоу ашәҵатәы аҭыжьра аҿиара анаиуз XIX-тәи ашәышықәса актәи азбжаҿы ауп. Раԥхьа зегь раасҭа зыхә лаҟәыз амаҭәақәа ракәын иааухәоз. Аӡахра ааглыхра аҿиара аиуаанӡа, аҭирахь инаргоз шамахамзар ашәҵашәых маҭәақәа ракәын, насгьы аӷарцәа еиҳарак амал змаз ауаа рышәҵашәых акәын иаархәоз.
АXIX-тәи ашәышықәса агәҭаны аӡахыга машьына мҽхакы ҭбаала ахархәара аиуит. Уи адагьы, аба аԥҟаразы амыруга ҿыц абзоурала, знык ала жәаа ҿыгҳара аба аԥҟара алыршахеит. Уи аӡахра аус акырӡа иарманшәалеит.
Еиду Америкатәи Аштатқәа рграждантә еибашьраан, шә-нызқьҩыла асолдаҭцәа армаҭәа ршәырҵар акәхеит. Арратә маҭәа аҭахра астандартизациа аҿиара иацхраауан. Ар рымаҭәа аӡахразы ианҿарҵоз, еиҳа ахархәара змаз ашәагаақәа азгәарҭон. Убри аҟнытә, аӡахратә ааглыхраҿы астандартқәа рыла иӡахыз амаҭәа инарҭбааны ахархәара аиуа иалагеит.
1880 шықәсазы Еиду Аштатқәа рҿы ахацәа рымаҭәақәа рыбжеиҵарак ракәын афабрикақәа рҿы ирӡахуаз, аха XX-тәи ашәышықәса алагамҭазы шамахамзар ахацәа зегьы иӡахны ирҭиуаз амаҭәақәа ныҟәырго иалагеит. Уаанӡа аӡахҩцәа рҿы амаҭәақәа ҿазҵоз амалуаагьы уажәшьҭа зыхә ҳараку адәқьанқәа рҟыны иаархәо иалагеит.[16]
Ашәҵатәы аҿиараҿы иахьатәи атенденциақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аунисекс астиль
- Ихадароу астатиа: Аунисекс
Аунисекс астиль Мраҭашәараҟны аҿиара иалагеит 1960-тәи ашықәсқәа рзы, ауаажәларраҿы аҳәсеи ахацәеи ррольқәа рҽырыԥсахуа иахьалагаз иабзоураны. Ари астиль иаҵанакуа амаҭәақәа зегьы ихаданы ирызҷыдахаз, урҭ зтәу дхаҵоу дыԥҳәысу ахьыузеилмыргоз акәын. Раԥхьаӡа еизакны иҭрыжьыз ус еиԥш иҟаз амаҭәа аџьынсқәа ракәхеит.[17]
Амаҭәа ахкқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ашәҵатәы еихыршоит:[1][18][19]
Ауаҩы ицәеижь ахәҭақәа ирҿырԥшны
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ажәҩахыртә маҭәа — ацәеижь хыхьтәи ахәҭаҿы иҟоу амаҭәа ауп, иара ауаҩы ихәамци ихәдеи еибазыркуа ацәаҳәақәа рыла иԥкуп, ҵаҟа -абӷеи агәыи еимаздо ацәаҳәақәа рыла рыла: апалта, апалта кьаҿ, аплашь,ажәҩаҭарԥа, акуртка, аблуза, акостиум, акьаҿ, аџьемпер, аӡараҭаршә, асвитер, акомбинезон, акомбинезонбжа, аҳәазага, аҵкы, ахалаҭ, аблузка, акәафтачка, хыхьтәи асорочка, ҵаҟатәи асорочка, аԥыраҳәа, акомбинациа, амшәхарԥ, афуфаика, амаика, аҽыкәабага.
- Амаҟаҿаҳәаранӡатәи амаҭәа — ацәеижь ҵаҟатәи ахәҭа иаҵанакуа амаҭәа, хыхь аӡара аҟынӡа иԥку, ҵаҟа- ауҭәақәа рҿынӡа: аиқәа, ашорҭқәа, ареитузқәа, аиԥка, ҵаҟатәи аиԥка, аиқәа кьаҿ, аӡиқәакьаҿ, анармеиқәа, апанталонқәа.[20]
Афункциатә ҷыдарақәа рыла
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аҵаҟатәи амаҭәа — ацәеижь азы иахәҭоу ацқьаратә ҭагылазаашьақәа раԥҵаразы иҟоу аалыҵ ауп: амаика, аиқәа кьаҿ, апанталонқәа, уҳәа убас иҵегьы.
- Акорсеттә аалыҵ ҳәа изышьҭоу аӡахратә ма атрикотажтә аалыҵ ауп, ацәеижь ахәҭақәа аформа рыҭаразы иршәырҵо, иара убасгьы ақалԥадқәа раанкыларазы: аилақь, аграциа, аграциабжа, акорсет, акорсетбжа, ақалԥадқәа рзы амаҟа.
- Хыхьтәи амаҭәа — ари акорсет иалху амаҭәа ахыхь иршәырҵо, аҩныҵҟамаҭәа, ма акостиумқәеи аҵыкқәеи ргәыԥ иаҵанакуа амаҭәақәа роуп: акуртка, апалта, аплашь, уҳәа убас иҵегьы.
- Ахы иахарҵо — иӡаху ма итриктажтәу аалыҵуп, ауаҩы ихы хызҩо: алымҳаҵәқәа змоу ахылԥа, абыз змоу ахылԥа, ахылԥа, аберет, акәылӡхылԥа, ажокеика, апилотка, акапор, ачепец, абызхылԥа, абыз змам ахылԥа, атиубетеика.
- Ақалԥадқәа - ашьапқәа ирышьарҵо атрикотажтә аалыҵ ауп. Урҭ хаз-хазы ашьапқәа рҵәахуеит, ашьаргәыҵақәагьы налаҵаны: ушьапы иаҵоуҵақәо, ақалԥадқәа, ақалԥадбжақәа, агетрқәа, аколготкақәа.
- Анапҭарԥақәа — иӡаху ма итрикотажтәу аалыҵуп, анапы ҵаҟатәи ахәҭеи ажәҩахыр аԥхьатәи ахәҭеи хызҩо: анапхазқәа, анапҭарԥақәа, анапҭарԥақәа, анапхазқәа.
- Ашьал-ахәдақәыршәқәа — иӡаху ма итрикотажтәу аалыҵ, ахыи (мамзаргьы) ахәдеи хызҩо: ашьал, акасы, ахәдақәыршә
- Ашьапымаҭәа адәахьтәи аныррақәа рҟынтә ашьапқәа зыхьчо, аутилитартәи аестетикатәи функциақәа змоу аалыҵуп.[21]
Ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи ртәқәа рыла еихшаны.
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ахацәа
- Аҳәса
- Ахәыҷтәы
- Ҿыц ииз ахәыҷқәа рзы - 9 мзы рҟынӡа зхыҵуа рзы
- ахәыҷбаҳча ахәыҷӡақәа ргәыԥ иаҵанакуа ахәыҷқәа рзы - 9 мзы инаркны 3 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рзы
- Ашколқәранӡа имнеиц ахәыҷқәа рзы — 3 шықәса инаркны 7 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рзы
- Ашкол аиҵбыратә гәыԥ иаҵанакуа ахәыҷқәа рзы - 7 шықәса инаркны 12,5 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәеи 7 шықәса инаркны 11,5 шықәса аҟынӡа зхыҵуа аӡӷабцәеи рзы.
- Ашкол аиҳабыратә гәыԥ ахәыҷқәа рзы - аҷкәынцәа 12,5 инаркны 15,5 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рзы, аӡӷабцәа 11,5 инаркны 14,5 рҟынӡа зхыҵуа рзы.
- Ахбыџқәа ргәыԥ азы - 15,5 инаркны 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҷкәынцәеи 14,5 инаркны 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аӡӷабцәеи рзы.
Аҳауатә ҟазшьарбагақәа рыла
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Аԥхын
- Аӡын
- Аамҭахәҭатәи - ааԥын-ҭагаларатәи аамҭақәарзы амаҭәа
- Аамҭахәҭақәа зегьы рзы- ианаамҭазаалакгьы ашықәс аҩныҵҟа иршәырҵо амаҭәа
Ахархәаратә ҷыдарақәа рыла
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Абзазаратә
- Аҩнымаҭәа — аусуразы иршәырҵо абзазаратә маҭәа, аҩны аԥсшьара аамҭазы иныҟәырго амаҭәа.
- Аусуратә - аҩнымаҭәа абзазаратә ҭагылазаашьақәа рҿы аусуразы
- Есыҽнытәи амаҭәа — есыҽны иныҟәырго абзазаратә маҭәа.
- Агәырӷьаратә - абзазаратә маҭәа, агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа раан иршәырҵо.
- Аспорттә маҭәа — аспорттә ҽазыҟаҵарақәа раан иныҟәырго абзазаратә маҭәа.
- Амилаҭтә — абзазаратә маҭәа,ажәлар рмилаҭтә культуреи рыбзазашьеи аҷыдарақәа аазырԥшуа. Уи есыҽны иныҟәыугар алшоит, аныҳәақәа раан, ма ақьабзтә усмҩаԥгатәқәа раангьы.
- Аҩнымаҭәа — аусуразы иршәырҵо абзазаратә маҭәа, аҩны аԥсшьара аамҭазы иныҟәырго амаҭәа.
- Ааглыхратә (абзазаратә усуратә маҭәа иахымҩашьалароуп) —анхамҩа еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы иршәырҵо амаҭәа.
- Иҷыдоу (аусуратә маҭәа) —ишәарҭоу, аԥырхага змоу ааглыхратә факторқәа рҟынтәи аусуҩцәа рыхьчаразы амаҭәа
- Асанитартә - аусуҩ иҟынтәи аусуратә маҭәахәқәа рыхьчаразы, насгьы аусзуҩы азеиԥш ааглыхратә ҟьашьрақәа иацәыхьчаразы ааглыхратә маҭәа
- Атехнологиатә - аусугатә маҭәахәқәа рыхьчаразы асанитартә маҭәа хкы
- Аформатә - арратә усзуҩцәа рымаҭәа, иҷыдоу аҟәшақәа русзуҩцәа, ауниформа ззаԥҵоу аҵаҩцәа рзы амаҭәа
Аизакызаара инақәыршәаны
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Хаз-хазы афункционалбжақәа змоу амаҭәақәа- егьырҭ амаҭәақәа ирыдымкылакәа, рхала ахархәара зылшо амаҭәақәа роуп.
- Ашәҵатәқәа ркомплектқәа ҳәа изышьҭоу еиԥшу стильк ала иҟаҵоу амаҭәақәа роуп: акостиум (уахь иаҵанакуеит: ахацәа ркостиум, аҳәса ркостиум), аиқәа зцу акомплект, аӡҭалага, амшын аԥшаҳәаҿы иршәырҵо акомплект, апижама.
Аӡахратә технологиа инақәыршәаны
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Иӡаху - аматерилқәа зегь ирылхны иӡаху амаҭәа, ашәҵарази,аҩныҵҟамаҭәеи,ацәарҭамаҭәеи ирзыку.
- Атрикотажтә — атрикотаж иалху амаҭәа мамзаргьы иԥаны иҟаҵо.
- Араԥаратә
Ааглыхра ахкы ала
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Еизакны иҭрыжьуа амаҭәа — астандарттә цәеижьтә формақәа рзы амаҭәа, еидкыланы еиԥмырҟьаӡакәа иҭрыжьуа
- Ҷыдала иҿаҵоу амаҭәа — ауаҩы ицәеижь ашәага-загақәеи ирыдгалоу амодели инарықәыршәаны иҟаҵоу амаҭәа ауп.
Аматериал хада инақәыршәаны
[аредакциазура | акод аредакциазура]Амаҭәа ашәагаақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ихадароу астатиа: Амаҭәа ашәагаақәаАшәҵатәы ашәагаақәа ҳәа изышьҭоу анбантә ма ахыԥхьаӡаратә кодуп, уи ауаҩы ицәеижь ма ицәеижь ахәҭақәа рпараметрқәа ирықәшәоит, амаҭәа ахәҭаҷ зызку. Ауаюы инаало амаҭәеи ашьапымаҭәеи ралхра изымариахарц азы, урҭ ҭзыжьуа ашәагаа аарԥшразы асистема рхы иадырхәоит. Еиҳаракгьы ашәагаа амаҭәа иақу адыргацраҳәаҿы иануп, ашьапымаҭәаҿы уи ашьапаҵаҿы иҟазар алшоит.
Ашәҵатәы аибыҭашьа иазку азеиԥш дыррақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ашәҵатәы аибыҭашьа шьаҭас иамоуп ахәҭақәа рформеи, рхыԥхьаӡареи, рыӡахырҭақәеи, реиқәҳәаларҭақәеи реишьҭагылашьа, рҭыԥ. Амаҭәа аиҿартәышьа аҟазшьа еиуеиԥшым арбагақәа рыла еилукаар алшоит: адәахьтәи аформақәа, Ахәҭақәа рыгәҵәы аконструктивтә еишьҭаргылашьа, Аӡахырҭақәа реимадарақәа рыхкы, аматериал ахкы.
Асилует —ԥшшәык мацарала иаарҟьаҟьан иаарԥшу афигурақәа рпрофильқәа рсахьа. Ужәҩа иҭаурԥо амаҭәа аӡахышьа арбага хадақәа иреиуоуп амаӷра аԥҟашьа, арельиефқәа рыӡахышьа, алифи аиԥкеи аӡахырҭақәа рыла реимадара. Амаӷра ихадоу ԥҟашьаны иҟоуп аҭаӡахра, ареглан, аматериал шеибгоу иӡахны. Иара убас иҭаӡаху амаӷра ҩ-еиԥшымзаарак амоуп: иаабаци ахарԥтәи ҭаӡахышьақәеи.
Амаҭәа ахәҭақәа арахәыцқәа рыла реимадара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ашәҵатәы анаԥырҵо, ахәҭақәа реидҵаразы, насгьы аматериал ахқәа аус рыдуларазы еиуеиԥшым амҩақәа рхы иадырхәоит: арахәыцтә, Аҷабра, Аидырҭәалара, Аилаҵара
Арахәыц аметод ала ахәҭақәа напыла ма машьынала иҭаӡахны еидҳәалоуп.
Иҷабу аӡахырҭақәа рҿы, аматериал аҷабгала аплионка, аххыра, арахәыц иреиԥшны идырӷәӷәоит.
Еиларҭәо аӡахырсҭақәа рҿы асинтетикатә, аплионкатә маҭәахәқәа ртермопластикатә ҟазшьақәа ахархәара роуеит.
- Агәыршьҭа — ари агәыри арахәыци рыла аматериал ҩ-кылҵәарак рыҭаны иҟауҵо аилазаашьа аелементқәа иреиуоуп.
- Аҭаӡахырсҭа -еишьҭагылоу агәыршьҭрақәа роуп.
- Аӡахырсҭа- ҳәа изышьҭоу аматериал аҿы еишьҭагылоу аӡахырҭақәа роуп.
Аҭаӡахрақәеи агәыршьҭақәеи ҟалар алшоит: амашьына иҟанаҵаз, напыла, ибжьырҟьо, иҭаҵәахны иҟаҵо.
Ааглыхра
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ателие аҿы аусзуҩцәа рыбжьара аусутә аихшара еиҳараӡак абри аҩыза амҩала имҩаԥысуеит: аԥҟаҩы аклиент ишәагаақәа ихихуеит, аалыҵ афасон иалацәажәоит, аескизқәа ҭихуеит, аматериалқәа алихуеит (аба, афурнитура), раԥхьатәии аҵыхәтәантәии агәаҭарақәа мҩаԥигоит; Аӡахҩы аматериал ԥиҟоит, иӡахуеит.
Ателиеқәеи хаҭалатәи анапҟазацәеи амаҭәақәа рыӡахраан рхы иадырхәоит амакетҟаҵара аметод, адизаин аметодқәа — еиҳарак “ Аконструкциаҟаҵара иаку аметод ЦОТШЛ”,насгьы “Миуллери иԥеи” ҳәа изышьҭоу аметодика.
Амакетҟаҵара аметод (“амулиажтә метод” мамзаргьы “ататуажтә метод” ҳәагьы еицырдыруеит) — аконструкциа иҭбаау аформа аиоуразы аманекен ма ауаҩы иқәдырҷабуеит ақьаадқәа, амакеттә материал, ма амаҭәа злырхуа аматериал. Уи апроцесс ашьҭахь иҭбаахаз аформа ауаҩы ма аманекен иашәырхуеит, иҟьаҟьоу акы иқәырҵоит, иԥырҟоит. Ииашаны иҟаҵоу амакет ауаҩы ицәеижь аҷыдарақәа зегьы азгәанаҭоит.Абри аметод ала амаҭәа апроект ҟаҵазар, абжьаратә гәаҭарақәа рыда иуӡахыр алшоит.
Ашәҵатәы аныҟәгаразы азыҳәарақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аексплуатациатә ҭахрақәа ирхыԥхьаӡалоуп аныҟәгара ианыманшәалоу, аалыҵ ахаҭабзиара аныҳараку. Аныҟәгараҿы иманшәалахоит амаҭәа ашәагаа ииашан ианалху, аматериал ахәҭақәа иахьрыхәҭо аҭыԥ анрымоу.
Амаҭәа уақәӷәгәыӷыртә иҟалоит, даҽакала иуҳәозар,заа ихап ҳәа умшәакәа иныҟугартә, амаҭәа ахықәкы иақәшәо аматериал аналыухуа, иара убас атехникатә ус адулашьагьы азгәауҭар.
Аестетикатә ҭахрақәа ирыҵаркуеит асахьаркыратә рхиашьа, аматериал аԥшшәы, иану асахьа, ишыӡаху, амаҭәа ахәҭақәа рпропорциақәа.
Аарыхратә ҭахрақәа ззырхо амаҭәа аҭыжьраан аматериалқәа хшыҩркрала рхархәара иазхуыцуеит, насгьы аус аџьабаа рацәа шаҭаху азгәаҭоуп. Уи аалыҵ ахатә харџь армаҷреи ааглыхра ахаҭабзиара аизырҳареи иацхраауеит. Аматериалқәа рхархәаразы аекономикатә модел еиқәыршәахоит амодел адизаин аԥҵараан, аӡахырҭаҿы аалыҵ аус адулараан ацәыӡқәа анмаҷу, аџьабаа еиҵахоит атехнологиақәеи, аматериал ҿыцқәеи, насгьы хра злоу амыругақәеи рыла аус аныруа.
Амаҭәа амодел атехникатә хҳәааҿы, аалыҵ азеиԥш ҟазшьарбагақәеи, аконструкциеи абас еишьҭаргыланы иаагоуп:
- амодел ахки ахықәки
- материал хада ахкы, аԥштәқәа ргамма
- Асилует
- Аԥҟара
- Аибаркыга ахкы
- ахәҭа хадақәа рҟазшьарбагақәа (аԥхьа, ашьҭахь, амаӷра, ахәда)
- Аҩычара
- агәыԥ зегьы ашәагааи ауреи рзы абжьгарақәа
Аекономика
[аредакциазура | акод аредакциазура]1997 азы имҩаԥгаз аҭҵаара инақәыршәаны, адәқьанқәа рҿы 10 евро ҳәа ирҭииз амаҭәақәа рхаҭаԥса 3 евро иреиҳамызт.[22] Ашәҵатәқәа рыхәгьы абас еиԥш ишоит:
| Аӡеи амаҭәахәқәеи | 8% инаркны 14% рҟынӡа |
| Аулафахәы | 5% инаркны 14% рҟынӡа |
| Егьырҭ аныхтәқәа | 2% инаркны 3% рҟынӡа |
| Аҭыжьыҩ ихашәалахәы | 15% инаркны 17% рҟынӡа |
| Ахәаахәҭратә ахәцҵа | 55% инаркны 67% рҟынӡа |
Апроценттә ҳәаақәа рыдҳәалоуп ааглыхреи аҵыхәтәантәи ахархәаҩи рыбжьара абжьаҟазаратә знеишьақәа рхыԥхьаӡара. Убри аҟнытә, иҟоуп абрендқәа ахәԥса ахылаԥшра азҭо, ианыҭрыжьуа инаркны (рхатә зауадқәа налаҵаны) аларҵәараҿынӡа (рхатә дқьанқәақәа ма интернетала)
Атекстильтә аалыҵқәа реиҳарак ахԥатәи адунеи атәылақәа рҿы иҭрыжьуеит, ҷыдала Азиа. Ашәҵатәқәа рыҟаҵаразы рхы иадырхәо аматериалқәа рҟынтә иҟоуп зегь реиҳа аҳауа зҟьашьуагьы. Уи адагьы, ари аусухкаҿы ихадоу аусзуҩцәа русуратә ҭагылазаашьақәеи руалафахәыи лассы-лассы даара илаҟәуп.
- уахә. иара убас: ахәаахәҭра, абутик, агалантереиа, ҩынтә ахархәара
Ааглыхраҿы аҿыцрақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аӡахратә усхкаҿы АИТ-технологиақәа рхархәара ихадоу ахырхарҭақәа рахь иаҵанакуеит амаҭәа рмоделқәа автоматтә проектҟаҵареи, автоматтә ԥҟарақәеи.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы, CAПР (computer-aided design, CAD) активла ахархәара аиуит —абазатә, амоделтә конструкциақәа ҟазҵо апрограмма. Ашәагаала еихыршоит, ҷD- амодель аспециалистцәа- атехнологцәа атехнологиатә документациа аԥҵараҿы ирыцхраауеит.
Анаҩстәи автоматтә мыругақәа алекалои аԥҟареи дырмариоит:
- Афотодигитаизатор — акьыԥхьтә лекалоқәа аелектронтә формахь рыиагара алзыршо мыругоуп.
- Абодисканер- ҷD амодель аиқәыршәаразы ауаҩы ифигура асканер азызуа хархәагоуп. CAD иацҵаны, уи алшара унаҭоит хаҭалатәи астандартқәа рыла алекалоқәа рыҟаҵара.
- Автоматтә ԥҟаратә комплекс — иадҵоу апрограмма инақәыршәаны алазер ма ароликтә ҳәызба ахархәарала,аматериал( аба, асахҭан) автоматтә ԥҟара алзыршо мыругоуп.
Атрикотажтә маҭәа аҟаҵараан рхы иадырхәоит апрограмма змоу аԥагатә машьынақәа, урҭ амоделиер —аконструктор иус дырманшәалоит, насгьы еиҳа иуадаҩу асахьақәа раԥҵара алдыршоит.
Уи иадҳәалоу аусхкгьы, асра -еснагь аиӷьхара иаҿуп, иԥсабаратәу ацыхә ҿыцқәа аус рыдырулоит (акалам, ахәац), аба аилазаара еиӷьнатәуеит, (иԥсабаратәуи асинтетикатәи ацыхәқәа реилаԥсара иалнаршоит амаҭәа аинтерес зҵоу афактура аиура, еиҳа иӷәӷәахоит,иҟәатахоит) аба аус адуларазы аилазаашьа ҿыцқәа аԥырҵоит(имҟәыҷырц, абааӡареи, аҟьашьреи рҟынтә иахьчаларц).
Ҳакәша-мыкәша иамоу анырра
[аредакциазура | акод аредакциазура]Адунеи аҿы шаҟа рҭаху аасҭа еиҳаны амаҭәа ҭрыжьуеит, Убас, 2012 азы апланетаҿы иҭрыжьыз амаҭәақәа рҟынтә 60% раҟара шықәсқәак рыла икарыжьит, аӡәырҩы ахархәаҩцәа зхаҭабзиара ҳараку амаҭәақәа амодаҟынтә иқәҵит ҳәа ԥхьаӡаны икарыжьукеит. Икарыжьыз амаҭәақәа агәамсам еизгарҭарақәа рымҽхак дырҭбаауеит: Еиду Аштатқәа рҿы мацара есышықәса 10,5 миллион тонна абзазаратэ атекстильтэ цәынхақәа агәамсам кажьырҭақәа рахь идәықәырҵоит. Амода аиндустриа аҭакԥхықәра адуп адунеи аҿы аӡцарҭақәа 20 процент, 10 процентк арацәаҵәыҵәытә газ аушьҭра( жәларбжьаратәи аҳаиртә ԥыррақәа раасҭа). Атекстильтә ааглыхра Адунеи аокеан апластикатә маҭәарқәа рыла аҟьашьра иахыҵхыҭра хадоуп ҳәа ԥхьаӡоуп.. Абамбаӡа ааглыхра адунеи аҿы иҟоу аинсектицидқәа рҟынтә 24 процент ақәдырӡуеит, апестицидқәа рҟынтә 11 процент рхы иадырхәоит, арахь уи адунеи аҿы изқәаарыхуа адгьылқәа рҟынтә 3 процентк мацара роуп иагоу.[23][24]
Амаҭәа ацклаԥшра
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҩнытә ԥстәқәа рымаҭәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]
XX-тәи ашәышықәсазы, аҩнытә ԥстәқәа рымаҭәа модатә трендны иҟалеит, уи еиуеиԥшым аилахэырақәеи адизаинерцәеи рхы азыркит. Раԥхьаӡа абас еиԥш иҟоу амаҭәақәа зхәы кьаҿыз ма ахәы змам аҩнытә ԥстәқәа (иаҳҳәап, ашнауцерқәа) рырныҟәарақәа раан ахьҭа рацәыхьчара акәын изызкыз, аха аамҭа анца, уи адекоративтә функциагьы аанахәеит.
Иара убас акьанџьақәа рзы амаҭәақәагьы рӡахуеит.
Шәахә. иара уб.
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Ахәыҷтәы маҭәа
- Амаҭәа аҭоурых
- Аҳәса рымаҭәа
- Амодатә фотоҭыхымҭа
- Ахацәа рымаҭәа
- Аӡахҩы
- Аурыс милаҭтә маҭәа
- Аҩбатәи анапы
- Амода атеориа
- Иҭышәынтәалоу амода
- Аӡахратә ааглыхра
Азгәаҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ 1,0 1,1 ГОСТ 17037—85 (СТ СЭВ 4827—84) Изделия швейные и трикотажные. Термины и определения
- ↑ Этимологический словарь русского языка Шанского Н. М.
- ↑ Фасмер М. Этимологический словарь русского языка. — Т. 3. — С. 121.
- ↑ В. В. Ермилова, Д. Ю. Ермилова «Моделирование и художественное оформление одежды», 2010
- ↑ Васильева Е. Теория моды: миф, потребление и система ценностей Архив ҟаҵан 2023-01-02 азы Wayback Machine аҟны.. Санкт-Петербург; Москва: RUGRAM_Пальмира, 2023. С. 11.
- ↑ Rocamora A., Smelik A. Thinking Through Fashion: A Guide to Key Theorists. London: I.B. Tauris, 2015. С. 12.
- ↑ Васильева Е. Мода и ее теоретическая практика Архив ҟаҵан 2023-01-02 азы Wayback Machine аҟны. // Теория моды: одежда, тело, культура. 2021. № 3 (61). С. 348.
- ↑ Wilson E. Adorned in Dreams: Fashion and Modernity. London: Virago, 1985.
- ↑ Barthes R. Système de la mode. Paris: Éditions du Seuil, 1967.
- ↑ Васильева Е. Теория моды: миф, потребление и система ценностей Архив ҟаҵан 2023-01-02 азы Wayback Machine аҟны.. Санкт-Петербург; Москва: RUGRAM_Пальмира, 2023. C. 15.
- ↑ Melissa A., Toups: Andrew Kitchen, Jessica E. Light et David L. Reed. Origin of clothing lice indicates early clothing use by anatomically modern humans in Africa (англ.) // Molecular Biology and Evolution : Журнал. — 2010. — 7 September (vol. 28, no. 1). — P. 29—32. — ISSN 0737-4038. — doi:10.1093/molbev/msq234. — PMID 20823373. Архивировано 17 абҵарамза 2016 года.
- ↑ R Kittler, M Kayser, M Stoneking (2003-08-19). "Erratum: Molecular Evolution of Pediculus humanus and the Origin of Clothing". Current Biology (англыз бызшәала). Иархивтәоу аоригиналзы 2013-07-25 ахь. Ириашоу 2022-10-11 шықәсазы.
{{cite web}}: CS1 maint: multiple names: authors list (link) - ↑ Дробышевский
- ↑ Laver, James. The Concise History of Costume and Fashion. — Abrams, 1979. — С. 62. — ISBN 0-684-13522-1.
- ↑ Boucher, François. 20,000 Years of Fashion: The history of costume and personal adornment / Harry N. Abrams. — New York, 1987. — ISBN 0-8109-1693-2.
- ↑ "Американцы: Демократический опыт: Пер. с англ. /Под общ, ред. и с коммент. В. Т. Олейника. — М.: Изд. группа «Прогресс» — «Литера», 1993. — 832 с." Иархивтәоу аоригиналзы 2018-04-12 ахь. Ириашоу 2018-04-12 шықәсазы.
- ↑ "Стили. Унисекс. Статья портала IRstyle". Иархивтәоу аоригиналзы 2013-03-21 ахь. Ириашоу 2012-08-21 шықәсазы.
- ↑ Силаева М. А. Пошив изделий по индивидуальным заказам: Учебник для НПО. — 7-е изд., перераб.. — М.: Издательский центр «Академия», 2012. — С. 6. — 528 с. — ISBN 978-5-7695-5673-9.
- ↑ Радченко И. А. Основы конструирования и моделирования одежды: Учебник для НПО. — 1-е изд.. — М.: Издательский центр «Академия», 2012. — С. 11. — 464 с. — ISBN 978-5-7695-8444-2.
- ↑ Товароведение и экспертиза непродтоваров. — Поясная одежда. — С. 100.
- ↑ ГОСТ 23251—83 Обувь. Термины и определения
- ↑ Marie-Noëlle Boutin-Arnaud, Sandrine Tasmadjian. Одежда = Le vêtement. — Nathan, 1997. — ISBN 2-0918-2472-0.
- ↑ "Свалка в Атакаме". Элементы. 2023-09-01. Иархивтәоу аоригиналзы 2023-10-10 ахь. Ириашоу 2023-09-20 шықәсазы.
- ↑ "Fashion is an environmental and social emergency, but can also drive progress towards the Sustainable Development Goals". United Nations Economic Commission for Europe. 2018-03-01. Иархивтәоу аоригиналзы 2023-09-21 ахь. Ириашоу 2023-09-20 шықәсазы.
Алитература
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Васильева Е. Теория моды: миф, потребление и система ценностей. Санкт-Петербург; Москва: RUGRAM_Пальмира, 2023. 387 с.
- ГОСТ 17037—85 (СТ СЭВ 4827—87) Изделия швейные и трикотажные. Термины и определения
- Анучин Д. Н. Одежда // Энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона : в 86 т. (82 т. и 4 доп.). — СПб., 1890—1907.
- Гессен Ю. Одежда // Еврейская энциклопедия Брокгауза и Ефрона. — СПб., 1908—1913.
- Мерцалова М. Костюм разных времен и народов: в 4 т. М.: Академия моды, 2001.
- С. Слоневский. Одежда // Большая советская энциклопедия. В 65 томах / гл. ред. О. Ю. Шмидт. — 1-е изд. — М.: Советская энциклопедия, 1939. — Т. 42 (Нидерланды — Оклагома). — С. 720—726. — 832 с. — 45 500 экз.
- Одежда // Большая советская энциклопедия : [в 30 т.] / гл. ред. А. М. Прохоров. — 3-е изд. — М. : Советская энциклопедия, 1969—1978.
- Фукаи А., Суо Т., Ивагами М., Кога Р., Нии Р., Нишьяма Д. Мода XVIII—XX вв. Киотский институт костюма. Изд-во: «АСТ», «Астрель», «ОГИЗ», 2009. 192 с.
- Boucher F. 20,000 Years of Fashion: The history of costume and personal adornment. New York: Harry N. Abrams, 1987.
- Mendes V. de La Hay A. 20th Century Fashion. London: Thames and Hudson, 1999.
Азхьарԥшқәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- Моделирование и конструирование одежды (фильм)Архив ҟаҵан 2016-04-14 азы Wayback Machine аҟны.
- Дробышевский, С. В. Как одевались наши предки? : лекция — НаукаPRO