Перейти к содержанию

Ашәҟәы

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Ари атермин «Ашәҟәы» даҽа ҵакқәакгьы амоуп, Шәахә. иара убас: Ашәҟәы (аҵакы).
Грац (Австриа) иҟоу ауниверситеттә библиотека аԥхьаратә уада хадаҿы антиквартә шәҟәқәа

Ашәҟәы — акьыԥхьтә аалыҵ ахкқәа, иара убас уаанӡатәи анапылаҩыратә аалыҵ ахкқәа иреиуоуп: ипериодикатәым аҭыжьымҭа, еидҳәалоу ма хазы игоу ақьаадтә бӷьыцқәа (адаҟьақәа) мамзаргьы атетрадқәа рыла ишьақәгылоу, атексттәи аграфикатәи (аиллиустрациақәа) ажәабжь типографиала ма напылаҩырала изну, еиҳарак ацәа кьакьа змоу[1].

Аԥсҭазаара кьаҿуп.

Ашәҟәы мацара ауп иҟәымшәышәу.
Аполка иқәихит. Еихиршәшәеит. Иқәиргылеит.
Аԥагьара амаӡам.
Уи мҵааӡакәа угәы иҭалом.
Аполка иқәгылоуп, ҿнаҭуам, анапы ԥхақәа ианырго ҳәа иԥшуп.

Нас уи аартхоит.

Ашәҟәы ҳәа иара убасгьы иазаҳҳәар ҳалшоит хазы еидҳәалоу аҭыжьымҭа аҳасабала акьыԥхьразы иазԥхьагәаҭоу алитературатә, ма аҭҵаарадырратә аԥҵамҭа[2].

Аинформациатә технологиақәа рыҿиара абзоурала, еиҳа-еиҳа ауаа рылаҵәара иаҿуп аелектронтә шәҟәқәаакомпьютерқәа рҿы ма уи азы иазԥхьагәаҭоу иҷыдоу амыругақәа рҿы узыԥхьар улшо икьыԥхьу ашәҟәқәа релектронтә версиақәа[3]. 2013 шықәсазы ашәҟәқәа рџьармыкьаҿы електронтә шәҟәқәа рхыԥхьаӡара 30% ыҟан, рыхәԥса ахәҭаа — 14%[4].

Апраславиантә ажәа kъniga хыҵхырҭас иамазар иҟалап ҳәа иԥхьаӡоу аверсиақәа:

Ихадароу астатиа: Ашәҟәы аҭоурых

Ҿырҳәала аимдара — ауаатәыҩса рҭоурых аҿы зегь реиҳа ижәытәӡоу адыррақәа реимдашьа ауп. Ажәытәтәи ацивилизациақәа аҩыратә системақәа анырыӡба ашьҭахь, ауаа аҩразы анышәаԥшьтә цәаҟьақәа, аҵла ацәа, аихатә бӷьыцқәа уҳәа, шамахамзар зегьы рхы иадырхәо иалагеит.

Адырганҵа ҳәа ҳҳәар ҳалшоит есыҽнытәи ахархәареи аныҟәгареи рзы иманшәалоу, зыгәра угартә иҟоу, иҩу ажәабжь аныҟәгага ҳәа. Еиҳарак араҟа ҩыгас ахархәара змаз астило акәын. Адырганҵақәа ихадоу рыхкқәа ҩба алкаазар ауеит: анышәаԥшьтә (иаҳҳәап, Тигри Евфрати рыбжьара иҟоу адәҳәыԥш ауааԥсыра рыбжьара), урҭ лассы-лассы рхы иадырхәон асалҩырала аҩразы[7], насгьы ацәатәы. Аҵыхәтәантәиқәа ацәа ахҟьа змаз аӷәыцәмаҟьақәа ракәын, анышәаԥшьтәқәа ракәзар нышәаԥшь мацарала ишьақәгылан, насгьы аҩырақәа анырнырҵалак ашьҭахь урҭ лассы-лассы амца рыжәырҵон, еиҳагьы иӷәӷәахарц азы. Абри апроцедура ашьҭахь атекст уаҳа ԥсахшьа амамызт; уи иеиԥшымкәа, ацәатә дырганҵақәа рҿы иҩыз аныхны аныҟәгага даҽазнык ахархәара ауан. Ажәытәтәи Рим аӷәыцәмаҟьақәа лассы-лассы дара-дара еидырҳәалон. Идыруп «адиптихқәа», «атриптихқәа», «аполиптихқәа» (ҩба, хԥа, ирацәаны аӷәыцәмаҟьақәа)[8] шыҟаз, убас ала иахьатәи ашәҟәы апрототип ҷыда — акодекс — шьақәыргыло[9].

Винченцо Фоппа. Цицерон қәыԥш ашәҟәы даԥхьоит

Ажәытәтәи Мысра Актәи Аҵакыра инаркны аҩразы рхы иадырхәон апапирус (уи ахьӡ еиԥшу ахьӡ змоу аҵиаа амахәқәа ирылхыз ақьаад хкы). Абас еиԥш иҟоу аԥшаахқәа зегьы раасҭа ижәытәӡоу апапирусқәа роуп, ҷыдала аҳасабырбатә документқәа, Ахәбатәи Аҵакыра аҳ Нефериркар Какаи иԥсыбаҩ аԥшьаҭыԥ аҟынтәи, Абусир иԥшааз, ҳ. Ҟ. XXIV-тәи ашәышықәса алагамҭа инаркны XXIII-тәи ашәышықәса анҵәамҭанӡа аамҭацыԥҵәахала ирыцхәырку[10]. Аҵәахра мариахарц азы хаз-хазы иҟаз апапирус бӷьыцқәа ыршаны еиддырҷаблон. Ари аҵас аеллинтәии римтәии адунеи аҿы инарҭбааны аларҵәара аиуит, аха аҵла ацәеи[K 2] егьырҭ амаҭәахәқәеи рхы иадырхәон ҳәа агәаанагарақәагьы ыҟоуп. Апапирус аҟаҵаратә технологиа Плини Аиҳабы ииҩыз «Аԥсабаратә ҭоурых» (XIII-тәи ашәҟәы, XXIII-тәи ахәҭа[11]) аҟны далацәажәеит[12]. Геродот излеиҳәо ала («Аҭоурых», 5-тәи ашәҟәы, 58-тәи ахәҭа), финикиаа аҩыреи апапируси Бырзентәыла иааргеит ҳ.ҟ. X-тәи ма IX-тәи ашәышықәсақәа рзы. Апапирус азы, аҩыратә материал аҳасабала, абырзен ажәаны "библион" ҟалеит, ашәҟәы азы — "библос"[K 3], уи Финикиатәи абаӷәаза қалақь Библ ахьӡ аҟынтәи ауп ишааз, уаантәи апапирус Бырзентәылаҟа ирышьҭуан[13].

Апапирус аҿы ианыз аҷышәга имарианы ианыҵуан, уи абӷьыцгьы аҩынтәраан анҩылара ҿыц азы ахархәара ауан. Еидырҷаблаз апапирустә бӷьыцқәа (абжьааԥны 20-ҟа) рцәаҳәа ау (бырзен бызшәала «ахартиа») ганкахьала иақәыҩуан. Апапирус ацәаҳәа амаақәа змаз аргьежь иакәдыршон. Аԥхьараан узнапык ала аргьежь кны егьи унапала аикәарша ԥуртлалар акәын[14].

Ихадароу астатиа: Акодекс (ашәҟәы)

V-тәи ашәышықәсазы Севилиатәи Исидор, усҟантәи аамҭазы иҟаз агәаанагарақәа рыла, ашәҟәи, ақьаадыршеи, акодекси реиԥшымрақәа абас далацәажәеит: акодекс шәҟәырацәала ишьақәгылоуп, ашәҟәы — ақьаадырша заҵәык ала ишьақәгылоуп. Ҳаамҭазтәи аилкаарала акодекс раԥхьаӡатәи аинформациа аныҟәгага ҳәа иԥхьаӡатәуп, уи ашәҟәы еиԥшуп: еиҟароу адаҟьақәа анс ак арс акә ганкахьала еидҳәалоуп, насгьы еиҳа иӷәӷәоу аматериал иалху ацәа кьакьа акәыршоуп. Ибзиаз аганқәа шрымазгьы, ажәытәӡатәи аамҭазы акодексқәа рылаҵәара ҟамлеит, еицырдыруа иҟалеит IIIIV ашәышықәсақәа рзы, ақьырсиантә еилазаараҿы, апергамент ахархәара ианалага, апапирус еиԥшымкәа уи андырхәоз иԥжәомызт[15], насгьы аԥҟара ауан. Ари аформат абзиарақәа рахь иаҵанакуан уи ама́́рара (аҩыратә ажәабжь аныҟәгага аҩганкгьы рхархәара ауан), аиҭагара, адыррақәа рыԥшаара амариара. Уи адагьы, апергамент изныкымкәа ахархәара зылшо маҭәаруп: ашәыга имарианы ианыҵуеит. Ԥшь-пергаменттә бӷьыцк рыла ишьақәгылаз, агәҭаны иҷаԥаны иҭаӡахыз аҭаҩрашәҟәы аларҵәара аман, убас иааизакны 16 даҟьа алҵуан. Уи аҩыза ашәҟәы бырзен бызшәала «тетрада» («ԥшьба») ахьӡын; иахьатәи ашәҟәқәа рыблокқәа 16, 32 даҟьа змоу атетрадқәа рҟынтәи еизыргоит[8].

Ихадароу астатиа: Ашәҟәыҭира

Ашәҟәыҭицәа ртәы рҳәоит ҳ. ҟ. V-тәи ашәышықәсазы инхоз абырзен авторцәа (иаҳҳәап, Ксенофонт). Ашәҟәыҭицәа (абиблиополқәа) рыӡбахә рҳәоит Аристомени Никофони ркомедиақәа рҿы. Рим ашәҟәқәа рыҭира усҟан еицырдыруан. Ашәҟәқәа еиҭахҩылааны иахьырҭиуа аусурҭақәа цәырҵуеит. Ҳара ҳҟынӡа зыхьӡ еиқәханы иааз раԥхьатәи аҭыжьҩцәа дыруаӡәкын Тит Помпони Аттик. Аттик зусумҭақәа рыхҩылааразы азин изҭоз авторцәа русумҭақәа акы-ҩба рыхҩылаақәа ҳамҭас ириҭон[16].

Адунеи аҿы атәылақәа жәпакы ашәҟәы азы иаԥҵоу ахә рхы иадырхәоит, уи ашәҟәқәа рыҭираҿы зегьы ианреиҵаха имҩақәҵагоуп. Иаҳҳәап, ари аиԥш ахәԥса XX-тәи ашәышықәсазы СССР ашәҟәқәа рцәақәа рҿы ианырҵон, XXI-тәи ашәышықәсазы Китаитәи ашәҟәқәа рцәақәа рҿгьыы иркьыԥхьуан (定价 — «ишьақәыргылоу ахә»).

Абжьаратәи ашәышықәсақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Аерман напылаҩыра, Гладзор, XIII-XIV ашәышықәсақәа

Напыла иҩыз ашәҟәқәа (аманускриптқәа) аҩырҭақәа рҿы иаԥҵан (алаҭын бызшәа аҟынтәи “scriptor” — “изыҩуа”). Византиа аҳҭнықалақь Константинополь аҟны аҩырҭа (идыруп уи 356 шықәсазы аус шауаз) Констанци II иаԥиҵеит, зхаан аҳҭнықалақь аҿы ауаажәларратә библиотекагьы цәырҵыз (475 шықәсазы 120 000 шәҟәы ахыԥхьаӡалан). Иара убас ауахәамақәа рҿы иҟан аҩырҭақәа, урҭ рахьтә зегьы иреиҳау Студитәи ауахәамаҿы аус ауан. Ацәаҳәақәа еиҟараны иҟазарц азы, апергамент атса тата апластинкала цәаҳәа-цәаҳәа иршон; ԥыҭрак ашьҭахь уи азы астил рхы иадырхәон. Акаллиграфцәа атекст ҷышәгала ианырҵон, акалам (калиам), амҿтәы лабыҵә, анаҩс аҵысхә рхы иархәаны[17][18]. Аамҭа цацыԥхьаӡа, напылаҩырақәак рыбӷьыцқәа еиуеиԥшым аԥштәқәа рыла иршәуа иалагеит, насгьы атекст еиуеиԥшым аԥшшәқәа змаз ҷышәгала ианырҵон. Абзац ҿыц алагамҭа аҷышәга ҟаԥшь ала иҩын (акиновар ма асурик ала иҟаҵан). Абзацқәа рыалагамҭа зыҩуаз акаллиграфцәа раубрикаторцәа ҳәа ирышьҭан (алаҭын бызшәа аҟынтә ruber, ҵакыс иамоуп «аҟаԥшь»)[19]. Апергамент аҿы ҵысхәла аҩразы иманшәалаз, итатоу, ихыгьежьу аунциалтә ҩыра цәырҵит, уи IV-тәи ашәышықәсазы еизҳазыӷьеит[20]. Апергамент ахә ҳаракын аҟнытә, лассы-лассы уи ишьҭрақәланы рхы иадырхәон — атекстқәа иҷыдоу аилаҵақәа рыла ианырхуан, пемзала ирыцқьаны аҿыцқәа рыҩуан. Даҽазнык ахархәара зауз апергамент иану анапылаҩырақәа апалимпсестқәа ҳәа ирышьҭоуп. Еиҳарак ажәытә шәҟәқәа абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы абасала иқәырхуан, аха ишьақәыргылоуп егьырҭ ахҭысқәагьы — абжьаратәи ашәышықәса ҳаракы аан, антикатә авторцәа ртекстқәа ауахәама аԥҵаҩцәа русумҭақәа ирықәрыҩуан[21][K 4][19].

Новгородтәи акодекс актәи адаҟьа, 1010-тәи ашықәсқәа

V-тәи ашәышықәсазы Римтәи аимпериа ахыбгалара адунеи аҿы уи иамаз акультуратә нырра еиҵанатәит. Мраҭашәаратәи Римтәи аимпериаҿы лаҭынла аҩра аҵас ауахәамақәа рҟны иаанхеит, избан акәзар раԥхьа Кассиодор Вивариумтәи ауахәамаҿы, анаҩс VI-тәи ашәышықәсазы Нурситәи Бенедикт атекстқәа рыхҩылаара аҵак ду шамоу азгәарҭеит. Уи абжьаратәи ашәышықәсақәа раан ашәҟәқәа ирымаз аҵакы анырра ду анаҭеит, усҟан ашәҟәқәа ирыԥхьоз еиҳарак адиннапхгаҩцәа шракәызгьы. Акьыԥхьга машьына аԥҵахаанӡа, насгьы ахархәара ҭбаа аиуаанӡа, ашәҟәқәа зегьы напыла ихырҩылаауан, убри аҟынтә напыла иҩыз аҭыжьымҭақәа зынӡаск имаҷын, насгьы рыхәгьы ҳаракын. Ауахәама хәыҷқәа рҿы ԥыҭк ашәҟәқәа ыҟан, еиҳа идуқәаз рҿы шәкыла ашәҟәқәа ыҟан; IX-тәи ашәышықәсазы 500 шәҟәы еидкыланы измаз аизга идууп ҳәа иԥхьаӡан, Абжьарашәышықәсатәи апериод анҵәамҭазгьы Авиньон иҟаз апаптә библиотекеи Сорбоннатәи ашәҟәқәа реизгеи рҿгьы ҩнызқь шәҟәы раҟара мацара ракәын иҟаз[22].

Аксилографиеи аинкунабулақәеи

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Аксилографиа Мраҭашәаратәи Европа иҟалеит XIV-тәи ашәышықәса алагамҭазы (уи уи аԥхьа Мраҭашәара ирыӡбахьан (раԥхьаӡатәи аҿырԥштәқәа руак VIII-тәи ашәышықәсахьы иаҵанакуеит); анкьаахыс аксилографиатә шәҟәқәа Кореиа иркьыԥхьуан)[23]. Аксилографиаҿы адаҟьа зныԥшуаз аматрица амҿы ацыԥҵәаха иҭаԥырҟон. Уи аҷышәга иӡааршьшьны, адаҟьа акопиақәа ԥыҭк рыҟаҵаразы рхы иадырхәон. Зааӡатәи атекст зныз акьыԥхьратә формақәа рхы иадырхәон акьыԥхьтә маҭәақәа рҭыжьразы[24]. Ашәҟәқәа — анырҟьацыларақәа, ахәмарратә мацақәа, адинтә сахьақәа реиԥш ксилографиала иҭрыжьуа иалагеит. Раԥхьа ақьаад бӷьыцқәа ганкахьала мацара иркьыԥхьуан, урҭ рган ҭацәқәа еиддырҷаблон. Акьыԥхьга машьына анаԥырҵа ашьҭахь абӷьыц аҩганкгьы ркьыԥхьра алыршахеит. Ашәҟәы аԥҵара аџьабаа ӷәӷәа зцыз усын, избанзар даҟьацыԥхьаӡа ахатә ҭаԥҟарсҭақәа азыҟаҵалатәын (уи мызкы аҟара аамҭа агон). Уи адагьы, амҿы анҵыра рацәамызт — ирласны ианыҵуан, иҷҷон, насгьы амҿтәы формақәа акьыԥхьразы рхы ианадырхәалак ашьҭахь урҭ дыршәуан[25].

Европа 1500 шықәса ԥхынҷкәынмза 31-нӡа иҭрыжьыз ашәҟәқәа, абӷьыцқәа, асахьақәа — аинкунабулақәа ҳәа ирышьҭоуп (лаҭын бызшәала: incunabula — «агара»)[26].

XII-тәи ашәышықәса инаркны Европа ирдыруаз ақьаад еиҳа-еиҳа иахьрылаҵәаз иахҟьаны[27], акьыԥхьра ахә еиҵахеит. Раԥхьатәи ақьаад зхы иазырхәоз ашәҟәқәа рҿгьы апергамент бӷьыцқәа ыҟан: абжьааԥны 4 бӷьыцк змаз ақьаадтә тетрад апергамент абӷьыц иларҳәон[28].

Анбанҟәшәаратә форма

[аредакциазура | акод аредакциазура]

Хазы игоу амҳәырқәа рышьҭақәа рыла атекст ашьақәыргылара ажәытәӡатәи аамҭақәа раахыс ирдыруеит (еицырдыруа зегь раасҭа ижәытәу аҿырԥштәы Фесттәи адиск ауп). Приуфенингтәи ауахәамаҿы иҟоуп 1119 шықәсазы хазтәи амҳәырқәа рыла иҭаҩу ауахәама ашьаҭаркра иазку лаҭын бызшәала иҟоу анҵамҭа[29].

Китаитәи ажьииҩы Би Шен (990-1051) анбанҟәшәаратә форма аҟынтәи акьыԥхьра аԥызҵаз ҳә дыԥхьаӡоуп. Иблыз анышәаԥшь иалху алитерақәа рыла еиқәыршәаз формак аҟынтәи шәкыла, зқьыла акьыԥхьрақәа рыҟаҵаразы уи иметод аҵарауаҩ Шен Ко «Аԥхыӡқәа рыӡиас иазку азгәаҭақәа» аҟны далацәажәеит[30]. Аха Китаитәи аҩыра аидеографиатә ҟазшьа ахьамоу иахҟьаны, анбанҟәшәаратә форма аҟынтәи акьыԥхьра Китаи аларҵәара ҭбаа маиуӡеит, избанзар иаҭахыз алитерақәа зегьы зҭаз анбанҟәшәаратә кассақәа ршәага-загақәа кырӡа идуун[31].

XV-тәи ашәышықәсазы Европа Иоганн Гутенберг зегь раԥхьа ихы иаирхәеит еиҭаҵуа аихатә литерақәа змаз атипографиатә машьыфна, уи абзоурала ирацәаны акьыԥхьра алыршахеит. Гутенберг икьыԥхьга еиԥшу амеханизмқәа аҩыҟаҵареи ақьаад аҟаҵареи рҿыанкьаахыс рхы иадырхәон. Гутенберг иара убас алитерақәа рыҟаҵара далагеит ажәаҭарҭәаратә форма ахархәарала, уи апроцесс акырӡа иармариеит[32].

Ашәҟәқәа рыԥшаара мариахеит, аха еиҳараҩык рзы макьана рыхә цәгьан. Атекст шәкыла, мамзаргьы зқьыла еиԥшу акопиақәа рыҟаҵара абзоурала, ахҩылаараан узызцәмцо агхақәеи аилагарақәеи злам, ишьақәгылахьоу аусумҭақәа рҭыжьымҭақәа рцәырҵра ахылҿиааит[26].

Ажәытәӡатәи ашәҟәы атитултә даҟьа. Аҭыжьҩы Џьон Баскервилл, 1757

XV-тәи ашәышықәсазы ашәҟәкьыԥхьра амҽхак ишазҳазгьы, ашәҟәқәа макьана иԥку тиражла иҭрыжьуан, насгьы рыхә даара иҳаракын. Урҭ еиҷаҳарала рызныҟәара шхымԥадатәыз еилкаан.

Ашәҟәы абжьаҵақәа рхархәара иазкны раԥхьаӡатәи азхьарԥшқәа руак 1584 шықәсазы иҟалеит, аҳ икьыԥхьҩы Кристофер Баркер аҳкәажә Елизавета I абырфын бжьаҵа анлиҭаз. Абырфын цәаҳәа пақәа XVIII-тәии XIX-тәии ашәышықәсақәа рзы аларҵәара змаз бжьаҵақәан, урҭ ашәҟә ацәа иаман, насгьы адаҟьа аура аасҭа еиҳан. Раԥхьатәи иамырхуа ашәҟәы абжьаҵақәа ацәырҵра иалагеит 1850-тәи ашықәсқәа рзы, урҭ еиҳарак абырфын мамзаргьы аба ҭаӡах иалырхуан.

Афақь ала аус зуаз акьыԥхьгатә машьынақәа аларҵәара роуит 1800-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы. Урҭ сааҭкахь 1100 бӷьыц ркьыԥхьра рылшон, аха аусуҩцәа ари аамҭа иалагӡаны 2000 дырга еиҳамкәа ракәын зықәыргылара иахьӡоз.

Амонотиптәи алинотиптәи апрессқәа XIX-тәи ашәышықәса анҵәамҭазы иаларгалеит. Урҭ 6000 дырга рҟынӡа, насгьы ацәаҳәақәа шеибгоу зныкҟьара рықәыргылара ҟалон.

XV-тәи ашәышықәса инаркны акыр шықәса ақәырӡхеит акьыԥхьгатә машьынақәа реиӷьтәреи ажәа ахақәиҭра адкылареи, хәыҷы-хәыҷла ацензура аҩаӡара ларҟәуа[K 5]. XX-тәи ашәышықәса азбжазы Европа ашәҟәқәа рҭыжьра арбага шықәсык ахь 200 нызқь шәҟәыхьӡ иреиҳахеит.

Зынӡа 130 миллион рҟынӡа ашәҟәыхьӡқәа ыҟоуп (2010 шықәсазы)[33].

Ҳаамҭазтәи атехнологиақәа

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Аполиграфиа
УНЕСКО 1972 шықәса иаланаҳәаз Жәларбжьаратәи Ашәҟәы ашықәс иазку СССР аԥошьҭатә мҳәыр.

Иахьа ашәҟәқәа рыҟаҵараан еиҳарак рхы иадырхәо атехнологиа аофсеттә кьыԥхьра ма алитографиа ауп, уи аан ашәыга акьыԥхьратә форма аҟынтәи ақьаад ахь ииасуеит абжьаратә цилиндр ала. Адаҟьақәа еишьҭаргыланы ақьаадыршаҿы иркьыԥхьуеит, анаҩс уи хаз-хазы абӷьыцқәа рыла еиҟәыршоит, ашәҟәы иаразнак ииашоу еишьҭаргылашьала еизгахарц азы. Ари аҩыза амашьына аршаратә ма аротациатә амашьына ҳәа иашьҭоуп; иара убас иҟоуп аофсеттә машьынақәа, ақьаадыршақәа рҟны акәымкәа, хазы игоу абӷьыц аҿы икьыԥхьуа.

Акьыԥхьқәа зну абӷьыцқәа реизгара ашьҭахь, ашәҟәы ацәеизгаратә усурақәа мҩаԥысуеит. Иҳаҩсыз ашәышықәса азбжазы аус ари ахәҭа хазы игоу анаплакқәа инарыгӡон, ашәҟәҭыжьра иалахәымыз, ашәҟәы ацәа аиқәыршәара аус мацара иазкыз; иахьазы акомпаниақәа реидҵарақәеи реиҭеиҿкаарақәеи апроцессқәа ирыхҟьаны аҭыжьратә еилакы аҩнуҵҟа еиуеиԥшым аусқәа реилаҵара еиҳа-еиҳа иацлоит, уажәшьҭа хыхь зыӡбахә ҳәаз анаплакы иеиԥшу анаплакы аԥшаара уадаҩуп. Атрадициатә ӡахра ада ашәҟәқәа рыхҩаркра еиҳа-еиҳа ауаа ргәы иахәоит, аха ажәытәтәи аброшиуратә методқәагьы акьыԥхьра апроцесс аҿы амҩа рыԥшаауеит. Еиҳа-еиҳа иалаҵәоит ашәҟәы ацәа ишаԥу еиԥш аҭаӡахра ада аизгара аметод, аха ԥыхьатәи аметодқәагьы зегьакоуп аполиграфиатә процесс аҟны аахархәара роууеит.

Ҳаамҭазтәи ашәҟәҭыжьра астандартизациа аҟазшьоуп: иҭрыжьуа ашәҟәқәа, еиҳараӡак, иалкаау ашәагааи аформати рымоуп. Англыз бызшәала ицәажәо атәылақәа рҿы, ЕАА рыда, Британиатәи астандартқәа аҳра руеит; Европатәи атәылақәа рхатәы ԥҟарақәеи анормақәеи рымоуп. Ақьаадгьы ҷыдала аполиграфиатә ҭахрақәа рзы иҭрыжьуеит; аԥхьара армариаразы ишаԥу еиԥш уи шкәакәаӡа акәымкәа, маҷк ирлашьцаны иҟаҵоуп, насгьы абӷьыц ганкахьала икьыԥхьу атекст даҽа ганкахьала иубарҭамхарц азы иалкаау ажәпара амоуп. Ашәҟәы хкы зеиԥшроу еиԥш иашьашәало ақьаадгьы ахархәара арҭоит; Еиҳа иалаҵәахьоу хкыуп еиуеиԥшым аҩаӡара змоу амелтә қьаад.

Уажәтәи аамҭазы ашәҟәқәа ҭрыжьуеит ацифратә кьыԥхьра ахархәаралагьы. Урҭ рдаҟьақәа аофистә техника иакьыԥхьуа адокументқәа реиԥш ишьақәгылоит — алазертә принтерқәа ма акопирқәа, атонер ахархәарала, аҷышәга акәымкәа. Абас еиԥш иҟоу азнеишьа аҭыжьымҭа атираж хәыҷқәа ркьыԥхьра алнаршоит (аексимплиарқәа ҩышә-хышә раҟара), аофсеттә прессала аусураан ихымԥадатәу аҽазыҟаҵаратә етапқәа ахьыҟам абзоуралагьы. Ацифратә кьыԥхьра ацәырҵра ашәҟәқәа рҭыжьраҿы азнеишьа ҿыц ашьақәгылара иацхрааит — аҭахрала акьыԥхьра ҳәа изышьҭоу ахь, ашәҟәқәа рыхҩылаақәа ҷыдала адҵаалаҩ изы ианыҟарҵо, иара ҭыжьымҭак анҿеиҵалак ашьҭахь.

Ихадароу астатиа: Аелектронтә шәҟәы (адокумент)

Атермин «електронтә шәҟәы» (е-шәҟәы, англыз бызшәала e-book) ахархәара амоуп иаабац ашәҟәы аҟынтәи аинформациа злоу, аха цифратә форматла иаагоу, насгьы аелектронтә ныҟәгагақәа рҿы (CD-ROM, DVD-ROM, уҳәа убас иҵегьы) иҭагалоу ашәҟәы аганахьала.

Акьыԥхьымҭақәа рхыԥхьаӡара ахьеизҳауа (аинформациатә ԥжәара ҳәа изышьҭоу) ашәҟәыҵәахырҭақәа рзы икьыԥхьу аинформациа рацәа аҵәахра иадҳәалоу азҵаара шьҭнахит. Аелектронтә ҭыжьымҭеи аинтернети рыҟалара иалнаршоит аинформациа ақьаадтә шәҟәқәа рҿы акьыԥхьра акәымкәа, еиҳа иҭбаау аелектронтә ныҟәгагақәеи аелектронтә библиотекақәеи рҿы аҵәахра, насгьы аҭыԥантәи еиԥш харантәигьы Адунеизегьтәи абызкаҭаҳа ала аинформациа аиура алнаршоит. Абас еиԥш иҟоу ашәҟәқәа абзиарақәа реиԥш ахатә малырқәагьы рымоуп, аха, иҟоу аелектронтә шәҟәқәа рыԥхьаратә системақәа рыманшәаламрақәак ирыхҟьаны (иаҳҳәап, аелектронтә шәҟәқәа рыԥхьара аццакыра, «Nielsen Norman Group» имҩаԥнагаз аҭҵаара ала, урҭ рқьаадтә аналогқәа рыԥхьара аццакыра аасҭа бжьаратәла 10% рыла еиҵоуп)[34], лассы-лассы атрадициатә қьаадтә шәҟәқәа аԥыжәара арҭоит, урҭ рҭыжьра иақәнагоу аҩаӡараҿы иаанзыжьуа.

Аха иахьазы аӡәырҩы иҟоу ашәҟәқәа ацифрахь аиагара рҽазыршәоит, урҭ аелектронтә хархәагақәа рҿы рыҵәахра еиҳа иманшәалахарц, насгьы ԥымкрада зегьы ахәаԥшра рзымариахарц азы. Иҟоуп иара убасгьы урҭ ркьыԥхьратә процесс азы ақәҿиарақәагьы, иаҳҳәап, азыҳәарала акьыԥхьра, аелектронтә журналқәа, уҳәа убас иҵегьы.

Ихадароу астатиа: Аудиошәҟәы

Аудиошәҟәы аԥҵаразы, аусумҭа атекст ауаҩы даԥхьоит — еиҳарак апрофессионалтә актиор мамзаргьы убас еиԥш иҟоу ргәыԥ — мамзаргьы (еиҳа имаҷны) ацәажәаратә синтезатор ала, ашьҭахь абжьы зҭарыҩуа хархәагак ианырҵоит. Атекст иацҵазар ауеит џьара шьҭыбжьқәак мамзаргьы амузыка. Аудиошәҟәқәа ирымоуп абзиарақәа реиԥш (иаҳҳәап, мзызқәак ирыхҟьаны аԥхьара злымшо ауаа аинформациа реилкаара) ицәгьоу аганқәагьы (ҷыдала, абжьытә фаил атекст ахаҭа аасҭа акырӡа амҽхак дууп).

Ашәҟәы аиҿкаареи иагәылоуи

[аредакциазура | акод аредакциазура]
Ихадароу астатиа: Ашәҟәы архиара
Аоклад

Ашәҟәқәа рҭыжьра аметодқәа инарықәыршәаны — атипографиатә кьыԥхь, аформа, ахкы, мамзаргьы аҵакы (аенциклопедиа, ажәар, арҵага шәҟәы, апроза, апоезиа атом, амонографиа, уҳәа убас иҵегьы), ашәҟәқәа рҭеиҭыԥш, рыхәҭақәа, рструктурақәа еиуеиԥшымзар ауеит. Ихаданы ашәҟәқәа ирыҵанакуеит анаҩстәи аелементқәа:

  • ашәҟәы ацәа архиара;
  • асуперцәа — ашәҟәы ацәа кьакьа иахҟьоу аламинаттә қьаадхҩа;
  • аҭаӡах (икьакьоу) — ашәҟәы абӷьыцқәа реидҳәалоу зҭаркуа (зҭарҷабуа), акартон, ацәа, аба, ақьаад рыла еиқәыршәоу, еиҳарак икьакьоу ахҩа;
  • ацәа мамзаргьы “аҭаӡах тата” — ашәҟәы ахьӡи автори зну итатоу мамзаргьы маҷк икьакьоу ашәҟәы ацәа;
  • ашәҟәы адаҟьақәа рыла еиқәыршәоу ашәҟәы аблок (аблок зегьы хьыла ма ашәыгатә тонқәеи асахьақәеи рыла ирԥшӡазар ауеит, иара убасгьы ашәҟәы алфавитла ма атемақәа рыла аҭаԥҟарсҭақәа, ашәыгақәа рыла);
  • ашәҟәы адаҟьақәа;
    • афорзац — ашәҟәы аҿы аблоки аԥхьатәи “ахы” аҭаӡахи рыбжьара иҟоу ҩ-бӷьыцк рыла еиқәыршәоу ақьаад жәпа: аблок ашәҟәы иаднакылоит, насгьы аҵыхәтәантәи адаҟьақәа аҟьашьра аҟытәи еиқәнархоит;
    • анахзац — ашәҟәы ацәеи ашьҭахьтәи адаҟьақәеи еидызкыло еиҳа ижәпоу ақьаад иалху аҩбӷьыц;
    • авантитул (ихымԥадатәым);
    • атитултә даҟьа — ашәҟәы ахдаҟьа, ашәҟәы ахьӡи аинформациа хадеи зну, иара убасгьы аҭыжьырҭа, ақалақь, аҭыжьымҭа арыцхә ирызку адыррақәа зну;
    • афронтиспис (афасадтә даҟьа, ихымԥадатәым) атитул мамзаргьы раԥхьатәи адаҟьа аԥхьа иагәыларҷабу, ашәҟәыҩҩы исахьа мамзаргьы ашәҟәы атема хада аазырԥшуа асахьа зну (иреиӷьу ахаҭабзиареи аҩаӡара змоу ақьаад аҿы хазы икьыԥхьуп): атекст ихадоу асахьақәа зну агәыларҷабқәагьы уи аҩыза ақьаад аҟны икьыԥхьуп;
    • аҭыҵратә дыррақәа (асоветтәии урыстәылатәии аҭыжьымҭақәа рҿы) мамзаргьы аимпрессум (егьырҭ атәылақәак рҭыжьымҭақәа рҿы);
      • ашмуцтитул — анаҩстәи аҟәша ма ашәҟәы ахәҭа ахьӡ зну хазы игоу ашәҟәы адаҟьа;
      • аннотациа — аахәаҩцәеи, аҭицәеи, абиблиотекарцәеи рзы аҭыжьымҭа ахҳәаа кьаҿ;
    • ашәҟәы атекст — ашәҟәы атексттә материал, хазы адаҟьақәа рҿы икьыԥхьу, насгьы ашәҟәы аблок аҟны иҷабны ма иҭаӡахны еидкылоу;
    • аекслибрис — ашәҟәы адырга, ақәҭыхра, ашәҟәыҵәахырҭа зтәу имҳәыр.
Карл Шпицвег исахьа “Ашәҟәтәы хәаҷа

XIX ашәышықәса аҩбатәи азбжа инаркны ацеллиулоза иалхны ақьаад аҟаҵара иалагеит[35]. Ароманқәеи, ашколтә рҵагақәеи ашәҟәқәеи ауааԥсыра ирзеиԥш мазарахеит. Аха уи ақьаад аҵәыҵәра алан, уи ақьаад ҩнуҵҟала маҷ-маҷ иԥхасҭазтәуа аҷыҷра ахылҿиаауеит. Убри аҟнытә, иахьатәи ашәҟәыҵәахырҭақәа ажәытә шәҟәқәа рҿы иҟоу аҵәыҵәқәа рықәгара рҽазыршәалароуп. 1850[K 6]-1950[K 7] шықәсқәа рыбжьара икьыԥхьыз ашәҟәқәа ари афеномен иақәшәоит.

Ашәҟәқәа рыҵәахраан ацәеи атексти рҿы ахимиатә ԥсахрақәа ҟалар шалшо иазхәыцлатәуп. Ашәҟәқәа амра ахьрықәымшәо, ихьшәашәоу, иҭылашьцаау, ибжьаратәу ацәаакыра ахьыҟоу ауадаҿы иҵәахызар еиӷьуп. Ашәҟәқәа, еиҳаракгьы ихьанҭоу ашәҟәқәа, рформа еиқәхарц азы, рыкәша-мыкәша иҟоу атомқәа рыҵгәозароуп, убри аҟнытә шәагаала еилыԥшаалатәуп. Аҩны, ашәҟәқәа лассы-лассы ашәҟәҭаҵарҭақәа рҿы мамзаргьы ақәҵарҭақәа рҿы иқәырҵоит. Ашәҟәқәа рықәҵарҭаҿы ашәҟәқәа рацәаны ианыҟам, ашәҟәқәа раанкылага аҭаххоит, урҭ кьынааны иҟамларц азы.

Аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рзы аԥхьаҩцәа рзы ирацәаны ахархәара аиуит ажәытә шәҟәқәа релектронтә фотохкьыԥхьаақәа[36], насгьы аоригинал иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рҿы иҵәахуп.

Ихадароу астатиа: Ашәҟәыҵәахырҭа

Шәахә. иара убас: Абиблиофилиа Ашәҟәқәа реизга хатәны (аколлекциа) мамзаргьы еилазааратәны (абиблиотека) иҟазар ауеит. Раԥхьаӡа ари аҩыза аизга амазаара аамсҭацәеи амал змаз ауааи, иара убас ауахәамақкәеи ауниверситетқәеи рзы ҳаҭыр ду акәын. Ашәҟәқәа рыхә еиҳа ианмаҷха, урҭ рхыԥхьаӡарагьы еизҳацыԥхьаӡа, ауаажәларратә библиотекақәа рылаҵәара иалагеит, убри аҟынтә ауаа рацәа рзы ашәҟәқәа рыԥшаара еиҳа имариахеит. Аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны (аԥшаара аласра, агьамақәа, ҳаҭыр ахьақәыз азы) џьоукы рхатә библиотека рымазар рҭахын (иагьырҭахуп).

XX-тәи ашәышықәсазы ацәа тата змоу ашәҟәқәа рцәырҵра иахҟьаны еицырдыруа алитература еиҳа-еиҳа ирацәахеит. Ашәҟәқәа реиҳарак рыхә алаҟәреи ашәҟәыҭирҭақәа рылаҵәареи ирыхҟьаны хаҭалатәи ашәҟәыҵәахырҭа амазаара ауаажәларраҿы акапан иасимволны аҟазаара иаҟәыҵит.

Ашәҟәыҵәахырҭа дуқәа рҿы ашәҟәқәа рыԥшаара аџьабаа рацәаны иацын, убри аҟынтә урҭ рыԥшаара еиҳа имариахарц азы, атемақәа, авторцәа рыхьӡқәа, иахьҭыҵыз атәыла, уҳәа убас егьырҭ арбагақәа рыла акаталогизациатә системақәа аԥырҵеит.

XX-тәи ашәышықәсазы ашәҟәыҵәахҩцәа адунеи зегь аҿы есышықәса иҭыҵуаз ашәҟәы рацәа рыцклаԥшра иадҳәалоу ауадаҩрақәа ирықәшәеит. Уи аганахьала, Абиблиотекатә ассоциациақәеи аинститутқәеи Жәларбжьаратәи рфедерациа ари апроблема аӡбаразы мыругақәак аԥнаҵеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы — жәларбжьаратәи астандарттә библиографиатә хҳәаа (ISBD). Уи инақәыршәаны, ҭыжьымҭа цыԥхьаӡа жәларбжьаратәи астандарттә шәҟәытә номер — ISBN[K 8] рыҭоуп. Убас ала, ISBN адунеи аҿы иарбан тәылазаалак аҿы иҭыҵуа ашәҟәқәа зегьы рзы иҷыдоу идентификаторуп, ашәҟәҭыжьыҩ ари астандарт идикылозар. Асистема адгылара анаҭоит иҷыдоу ахеилак. Аидентификатор ԥшьы-хәҭак рыла ишьақәгылоуп:

ISBN анахысгьы, иҟоуп даҽа классификациатә системақәак — иаҳҳәап, ББК ма УДК.

Ашәҟәқәа рбаҟа Берлин (Германиа). Иаартуп 2006 шықәса мшаԥымза 21 рзы ҳаамҭазтәәи акьыԥхьра аԥҵаҩы Иоганн Гутенберг иаҳаҭыр азы.

Аурыс шәҟәыҩҩы Максим Горки абас рабжьигон:

«Ашәҟәы бзиа ижәбала — адырра ахыҵхырҭа, адырра мацара ауп еиқәырхагоу, уи мацара ауп доуҳала иӷәӷәоу, ииашоу, иҟәыӷоу уааны шәҟазҵо, ауаҩы гәык-ԥсык ала бзиа ибара, иџьабаа ҳаҭыр ақәҵара, еиԥымҟьо иус дуқәа рылҵшәақәа гәык-ԥсык ала рыхӡыӡаара зылшо[37]. Асовет шәҟәыҩҩы П.А.Павленкогьы ашәҟәы иааннакыло аҭыԥ азы абри аҩыза ахырхарҭала дцәажәон: «Ашәҟәы — зегьы еицырзеиԥшу ԥышәоуп. Ашәҟә дуӡӡақәа ҩажәа ирыԥхьаз ауаҩы, аԥсҭазаара дуӡӡақәа ҩажәа ихигеит»[38]

2014 шықәса хәажәкырамза 14 рзы аиашахаҵаратә шәҟәы Амш азгәаҭараҿы ажәахә ҟаҵо, Москвеи Урыстәыла зегьы рпатриарх Кирилл ҳаамҭазтәи ауаажәларраҿы ашәҟәқәа иааннакыло аҭыԥ далацәажәеит:

«Иахьа ҳара ашәҟәқәа убриаҟара лассы-лассы ҳхы иаҳархәоит, ҳнапаҿы зеиԥшыҟам ауаҩытәыҩсатә культура абаҟа шаҳкугьы хырҩа аҳҭаӡом. Ииашаҵәҟьаны, ашәҟәы абзоурала адыррақәа ишшапаӡа аӡәы иҟынтәи даҽаӡәы иахь ииасуа мацара акәымкәа, аха вертикаллагьы — ииасыз аамҭа аҟынтәи иахьатәи аамҭахь, иахьатәи аамҭа аҟынтәи иҟалаша аамҭахь ииасуеит. Ашәҟәқәа рҿы иҵәахуп ауаатәыҩса рҟәыӷара[39]

Ашәҟәы адгьылҵакыратә, ахылҵшьҭратә, ауахәаматә геральдикаҿы иаларҵәоу, игеральдикатәым фигуроуп. Ашәҟәы афигура еиҳа лассы-лассы иаанагоит:

  • Иԥшьоу аҩыра (иаҳҳәап, Аԥшьаҩыра)
  • аҵареи аҿиареи
  • Аҭоурых абеиара, алитературатә ҵасқәа мамзаргьы азакәан аҳра

Акомментариқәа

  1. Иҟалап, Китаитәи аиероглиф 卷 аӡбахә ҳәазар.
  2. алаҭ. liber, уи аҟынтәи анаҩс иҟалеит англ. library.
  3. Аурыс ажәа библиотека ажәа “byblos” аҟынтәи ауп ишааз.
  4. Раԥхьатәи апалимпсестқәа руак аартын 1692 шықәсазы. XIX-тәи ашәышықәсазы ахимиатә методқәа рыла ианыхыз апалимпсестқәа ртекстқәа еиҭашьақәдыргылеит, лассы-лассы уи аан анапылаҩырақәа ԥхасҭахон. Анаҩс афотоҭыхра ахархәарала иԥхасҭазымтәуаз аиҭашьақәыргыларатә методқәа шьақәдыргылеит (Немировский Е. Мир книги. С древнейших времён до начала XX века. — М.: Книга, 1986. — С. 48).
  5. Шәахә. иара убас аинтеллектуалтә мазара, зегьы ирзеиԥшу амазара, автортә зин.
  6. Еиҳа изаатәиу аҟаҵаратә методқәа рҿы ацеллулоза иалоу аҵәыҵәқәа анеитрализациа азызуаз акьырхаҳәқәа рхы иадырхәон.
  7. Еиҳа иҿыцқәоу ҟаҵоуп аҵәыҵә ада, мамзаргьы ашьиолочтә қьаад аҟны.
  8. Ашәҟәқәа рзы EAN-аштрих-код ISBN аҟынтәи иаагоуп арымарахь 978 ацҵаны, насгьы агәаҭаратә еизга ҿыц иԥхьаӡаны.

Ахыҵхырҭақәа

  1. Книга[permanent анеишьа амам азхьарԥш][анеишьа амам азхьарԥш][анеишьа амам азхьарԥш] // Стефанов С. И. Реклама и полиграфия: опыт словаря-справочника. — М.: Гелла-принт, 2004. — 320 с.
  2. Лопатин В. В., Лопатина Л. Е. Русский толковый словарь : около 35 000 слов. — 4-е изд. — М.: Русский язык, 1997. — 832 с. — (Библиотека словарей русского языка). — 15 000 экз. — ISBN 5-200-02420-X.
  3. "Definition of e-book in English". Oxforddictionaries.Com. Иархивтәоу аоригиналзы 2014-05-06 ахь. Ириашоу 2014-05-06 шықәсазы.
  4. Jim Milliot. "Study: E-books Settle In". Иархивтәоу аоригиналзы 2014-05-06 ахь. Ириашоу 2014-05-06 шықәсазы.
  5. Фасмер М. Этимологический словарь русского языка / Пер. с нем. и доп. О. Н. Трубачева. — 2-е изд. — М.: Прогресс, 1986. — Т. 2 (Е—Муж). — С. 263. — 50 000 экз.
  6. Этимологический словарь славянских языков Архив ҟаҵан 2012-11-20 азы Wayback Machine аҟны. (Н. Н. Казанский, Ю. К. Кузьменко. «К этимологии ст.-слав. КЪNИГ»)
  7. Немировский Е. Мир книги. С древнейших времён до начала XX века. — М.: Книга, 1986. — С. 39.
  8. 8,0 8,1 Немировский Е. Мир книги. С древнейших времён до начала XX века. — М.: Книга, 1986. — С. 43.
  9. Leila Avrin. Scribes, Script and Books, p. 173.
  10. Verner M. Chapter 6. The Testimony of the Papyrus Archives // Forgotten Pharaohs, Lost Pyramids. Abusir. — Praha: Academia, Škodaexport, 1994. — P. 157—170. — ISBN 80-200-0022-4.
  11. Pliny. Natural History. With an English translation in ten volumes by H. Rackham. — London, Cambridge: William Heinemann Ltd., Harvard University Press, 1960. — Vol. IV. Libri XII-XVI. — P. 142—145.
  12. Немировский Е. Мир книги. С древнейших времён до начала XX века. — М.: Книга, 1986. — С. 40.
  13. Фасмер М. Этимологический словарь русского языка / под ред. и с предисл. Б. А. Ларина. — 2-е изд. — М.: Прогресс, 1986. — Т. 1 (А—Д): пер. с нем. и доп. О. Н. Трубачева. — С. 164. — 50 000 экз.
  14. Добиаш-Рождественская О. А. История письма в средние века. Руководство к изучению латинской палеографии. — М.: Книга, 1987. — С. 30—31.
  15. The Cambridge History of Early Christian Literature. Edd. Frances Young, Lewis Ayres, Andrew Louth, Ron White. Cambridge University Press 2004, pp. 8-9.
  16. Немировский Е. Мир книги. С древнейших времён до начала XX века. — М.: Книга, 1986. — С. 45.
  17. Немировский Е. Мир книги. С древнейших времён до начала XX века. — М.: Книга, 1986. — С. 46.
  18. Добиаш-Рождественская О. А. История письма в средние века. Руководство к изучению латинской палеографии. — М.: Книга, 1987. — С. 50.
  19. 19,0 19,1 Немировский Е. Мир книги. С древнейших времён до начала XX века. — М.: Книга, 1986. — С. 47.
  20. Добиаш-Рождественская О. А. История письма в средние века. Руководство к изучению латинской палеографии. — М.: Книга, 1987. — С. 63.
  21. Добиаш-Рождественская О. А. История письма в средние века. Руководство к изучению латинской палеографии. — М.: Книга, 1987. — С. 39.
  22. Martin D. Joachim. Historical Aspects of Cataloguing and Classification. Haworth Press 2003, p. 452.
  23. Немировский Е. Мир книги. С древнейших времён до начала XX века. — М.: Книга, 1986. — С. 69, 76.
  24. Немировский Е. Мир книги. С древнейших времён до начала XX века. — М.: Книга, 1986. — С. 67.
  25. Немировский Е. Мир книги. С древнейших времён до начала XX века. — М.: Книга, 1986. — С. 69—70.
  26. 26,0 26,1 Немировский Е. Мир книги. С древнейших времён до начала XX века. — М.: Книга, 1986. — С. 83.
  27. Немировский Е. Мир книги. С древнейших времён до начала XX века. — М.: Книга, 1986. — С. 49.
  28. Добиаш-Рождественская О. А. История письма в средние века. Руководство к изучению латинской палеографии. — М.: Книга, 1987. — С. 42.
  29. Немировский Е. Мир книги. С древнейших времён до начала XX века. — М.: Книга, 1986. — С. 73.
  30. Немировский Е. Мир книги. С древнейших времён до начала XX века. — М.: Книга, 1986. — С. 75.
  31. Немировский Е. Мир книги. С древнейших времён до начала XX века. — М.: Книга, 1986. — С. 75—76.
  32. Немировский Е. Мир книги. С древнейших времён до начала XX века. — М.: Книга, 1986. — С. 82.
  33. "Google сосчитал книги всех библиотек мира". Иархивтәоу аоригиналзы 2010-08-08 ахь. Ириашоу 2010-09-07 шықәсазы.
  34. напр. Apple iPad (-6,2 %) Amazon Kindle (-10 %), см. Nielsen Norman: iPad лучше Kindle подходит для чтения, но уступает бумажным книгам Архив ҟаҵан 2014-07-08 азы Wayback Machine аҟны.
  35. Сохранность книжных фондов: сборник научных трудов. — М., 1978. — С. 5.
  36. Дергачева-Скоп Е., Алексеев В. Древнерусское духовное наследие в Сибири: научное изучение памятников традиционной русской книжности на востоке России. — ГПНТБ СО РАН, 2008. — Т. 2. — С. 471.
  37. "Высказывания про книги. Страница 7". aforism.su. Иархивтәоу аоригиналзы 2015-10-21 ахь. Ириашоу 2015-10-24 шықәсазы.
  38. "Высказывания про книги. Страница 8". aforism.su. Иархивтәоу аоригиналзы 2015-10-21 ахь. Ириашоу 2015-10-24 шықәсазы.
  39. Тутина, Юлия. Мудрость в переплёте. Как Москва отметила День православной книги // Аргументы и факты — СтоЛичность. — 2014. — № 4 (53) за 9 апреля. — С. 4. Архивировано 5 хәажәкырамза 2016 года.
  • Добиаш-Рождественская О. А. История письма в средние века. Руководство к изучению латинской палеографии. — 3-е изд. — М.: Книга, 1987. — (История книжного искусства. Монографии и очерки). — 5000 экз.
  • Кирпичников А. И. Книга // Энциклопедический словарь Брокгауза и Ефрона: в 86 т. — СПб., 1890—1907.
  • Немировский Е. Мир книги. С древнейших времён до начала XX века / Рецензенты А. А. Говоров, Е. А. Динерштейн, В. Г. Утков. — Москва: Книга, 1986. — 50 000 экз.
  • Шапкина О. И. Символистская книга в России начала XX века // Известия высших учебных заведений. Проблемы полиграфии и издательского дела. — 2014. — № 5. — С. 115—122
  • Георгиев П. В. Библиотека и традиционная бумажная книга // Учитель истории в социокультурном пространстве Евразии в конце ХХ — начале XXI в.: Материалы Всероссийской научно-практической конференции. — Казань: Изд-во Казанского университета, 2016. С. 361—368.